#Article 1: Аҟәа (125 words)


А́ҟәа (, ) — Аԥсны иаҳҭнықалақьыуп. Аҟәа даара акрызхыҵуа қалақьыуп. ԥасатәи Аҟәа- Диоскуриа ахьӡын. Уи иахьа амшын аҵаҟа иҵәахыуп, иҟоуп.

Аҟәа ақалақь статус 1848-тә шыҟәсантә иауит. Иара атәыла агәҭабжьаратәи хәҭаҿы, 107 км Урыстәылатә ҳәаҟнытә, Еиқәамшын игаҟны иҟоуп. Аӡиасқәа Кьалашәыр, Басла, Хакьыԥсы ақалақь иалсны рцоит.

Аҟәатәи араионқәа:

Аҟәа амилаҭтә аилазаара:

Аиланхарҭақәа-агыларҭақәа раԥхьаӡа ақалақь территориаҟны ҵаҟатәи палеолит аамҭаҟны, 300-ҟа нызқь шықәса раԥхьа рызцәырҵит.

Аҭыԥантәи аиланхарҭа ду Аҟәа аҭыԥ аҿы, х-шьхақәа (Иашҭәа, Бырца, Гәарда) ашьпаҿы VI-тә шә-шқ-ҿы И. иираӡа Милеттә барзен аҭуџьарцәа аколониа Диоскуриа (Диоскуриада) иршьаҭаиркит. Дара ақалақь ҩ-иашьцәа Диоскурцәа – Кастәари Поливдеки, ирхырҵеит.

Ақалақь атәыла агәҭабжьаратәи хәҭаҿы, 107 км Урыстәылатә ҳәаҟнытә, Еиқәамшын игаҟны иҟоуп. Аӡиасқәа Кьалашәыр, Басла, Хакьыԥсы ақалақь иалсны рцоит.

Аҟәатәи ауаажәларратә транспорт атроллеибуси автобуси имоуп. Ақалақь итранспорт хкы хада – троллеибусоуп. Автобустә маршрутқәа рацәа ауп.




#Article 2: Аԥсны Аҳәынҭқарра (672 words)


Аԥсны́ Аҳәынҭқа́рра () — ҳәҭакла-зхаҵо аҳәынҭқарра Амшын Еиқәа алада-мрагыларатә ахықәаҿы шьҭоуп. Аԥсуаа ирыԥсадгьылуп. Аҩада-мраҭашәараҿы Аԥсныи Урыстәылеи, мрагылараҿы — Қырҭтәылеи аҳәаақәа иамоуп.

Аԥсны Ареспублика, Урыс Афедерациеи (нанҳәа 26, 2008), Никарагәуеи (Цәыббра 5, 2008), Венесуелеи (Цәыббра 10, 2008), Наурои (ԥхынҷкәын 15, 2009), Сириатәи Арабтә Республикеи (лаҵара 29, 2018) азхарҵеит.

Аԥсны бжь-ҭоурыхтә дгьылк (бжьиаҵәак аҳәынҭқарратә абираҟаҿы гәаларыршәоит) — Саӡен, ԥсҳәы-Аибга, Бзыԥын, Гәма, Абжьыуа, Дал-Ҵабал, Самырзаҟан-гьы — рмоуп.

Аҵанакы — .

Аҳәынҭқарра иаланхо — .

Ақалақь Аҟәа () Аԥсынтәыла иаҳҭнықалақьуп. Даҽа қалақьқәа: Гагра (), Гәдоуҭа (), Гал (), Тҟәарчал (), Очамчыра (), Афон Ҿыц ().

Аԥсны шьҭоуп Амшын Еиқәа ахықәан аӡиасқәа ԥсоуи Егри рыбжьара.

Аԥсны — унитар республика; 6 районар (араион) акатзава.
ақ. Аҟәеи бжь-раионки ыҟоуп:

Аԥсшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ауп.

Аԥсны 120 ӡиас ыҟоуп, урҭ ааидкыланы раура 5000 км иреиҳауп. Аӡы ажәпара 0,6км/км² артәоит. Уи ажәпара еиҳауп ашьхараҿы акарсттә ӡқәа ахьыҟам ацәаҳәаҿы.

Аԥсны аӡиасқәа зегьы иреиҳауп аӡиас Кәыдри (аӡиас Сакьан налаҵаны) аӡиас Бзыԥи. Уи аура 129 км инаӡоит. Уи аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рыҩныҵҟа актәи аҭыԥ ааннакылоит. Аӡы иҭоу ала Аԥсны аӡиасқәа рахьтә аҩбатәи аҭыԥ аннакылоит аӡиас Бзыԥ. Уи аура 110 км инаӡоит. Арҭ аҩ- ӡиаск рыӡҭачыра — 3540² км рыҵаркуеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра адгьылҵакыра зегьы аҟны 4,01 % артәоит.

Аԥсны 186 ӡиа ыҟоуп. Урҭ реиҳарак ашьхаҳаракырақәа рҿы ишьҭоуп. Аӡиақәа рацәаны ишыҟоугьы, дара зегьы еилаҵаны рзеиԥш ҵакыра 5,23² км иреиҳаӡам, насгьы Аԥсны адгьылҵакыра зегьы аҟнытә 0,06 % роуп иааныркыло.

Аԥсны аӡиақәа зегьы ирылукаартә иҟоуп Риҵеи Дуи Амтҟьали. Риҵа Ду ақәыԥшылара 1км³ иреиҳауп, аӡиақәа Амтҟьали Бабасыри рҵакыра хаз-хазы – 0,5 ² км рҟынӡа ыҟоуп.

Аԥсны арелиеф иабзоураны аӡҟычрақәа иааныркыло аҭыԥ маҷуп. Акаршәрақәа рҿы урҭ еиҳа ирацәоуп алада-мрагыларатәи ацәаҳәаҿы. Анаҩс, аӡхықәқәа ирываршәны дгьылбжьахаланы иуԥылоит аӡиасқәа рықәқәа рҿы. Иара убас ашьхаҳаркырақәа рыҟны аӡы ацара ахьыуадаҩу аҭыԥқәа рыҟны.

Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо ирацәоуп адгьылаҵаҟатәи аӡқәа. Урҭ зегьы еиԥшӡам ахимиатәи агазтәи еилазаашьала, аминералтә шьақәгылашьалеи аԥхарреи рыла, еикәшашьалеи, хыхь иҟоу аӡқәеи дареи реимадашьалеи, лшарақәас ирымоу рыла. Аԥсны аӡаҵаҟатәи аӡқәа рыла абеиара зыбызоуроу ари аҭыԥ аҿы иҟоу агеологиатә еилазаашьеи агемоморфологиатә ҷыдарақәеи инарықәыршәаны азеиԥш гидродинамикатә ҭагылазаашьа бзиа ауп.

Аԥсны ҵиаала абеиареи аиԥшымзаареи арелиеф аиԥшымзаареи, алитологиатә еилазаареи, аҳауеи, анышәи роуп изыбзоуроу. Зыда ыҟам аԥсуа фауна атәы аҳәоит арҭ аҭыԥқәа мацара ирҷыдаҟазшьоу 82 ҵиаа хкы. Иааизакны, 2000 хкы рҟынӡа аҵиаа. Аԥсны афлора, еиҳаракгьы, акарсттә цәаҳәаҟны иуԥыло, Аҩадатәи адгьылкәымпылбжа зегьы аҿы иуникалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Аԥсны адгьылҵакыра абжеиҳарак бнарала ихҟьан. Абнала ихҟьоу адгьылҵакыра 493,6 нызқь га артәоит. Аԥсны абнарақәа рыҟны 180 инарзынаԥшуа аҵла-чықьтә хкқәеи 50 ҵла хкқәеи ыҟоуп.

Аҵла — чықьтә хкқәаны иҟоуп авитаминзлыҵуа, афатәзлыҵуа, ацыхәтәқәа, арҩычагақәа, ахәшәтәыгатәқәа, амзашатәқәа, анышәрҕәҕәагақәа, ацхазлыҵуа, аефирхәшәатәқәа, акаучуктәқәа, ашьақарҵлақәа, атанидозлыҵуа, арҵәыгатәқәа. Еиҳа ирацәоуп: ашә, аԥса, ахьа, аџь, ашыц, ал, ахьаца. Раԥхьа амшын қәыԥшылараҟнытә 600 м ахьыбжьоу аҳаракыраҟынӡа ирызҳауеит ал, ахьаца, ахьа, ашә уҳәа рыла ишьақәгылоу иеилаԥсоу абҕьыбнақәа. Аҩада, 1600 м рҟынӡа иуԥылоит ашә-ахьатә бнақәа, иҵегьы ҩадаҟа 1800-2000 м рҟынӡа аҳаракырақәа рҿы агәырбҕьыҵлабнақәа, еиҳа ирацәоуп абнаԥсара.

Аԥсны иаҷыдаҟазшьоу афауна альпиатәи ацәаҳәаҟны иуԥылоит. Ароуп иахьыҟоу Кавказ иҟоу афауна ахкы аиҳарак: кавказтәи абҕаџьма (Carpacaucasica, кавказтәи адәҳәынаԥ (Microtusnivalis), Прометеи иҳәынаԥ Prometheomysschaposchnikowi), кавказтәи ашьа пықамсеи (Lyrurusmlocosiewieczi) акаԥкаԥи (Tetragalluscaucasicus).

Аԥсны адгьылҵакыра иалсны ицоит Евро-Азиатәи аконтинент иатәу аԥсаатә рмиграциатә мҩа ду. Ара иҟоу 294 ԥсаатә хкы ашәҟәы иҭаҩуп. Урҭ ирылоуп, шамахамзар, иуԥымло ахкқәа реиԥш аӡра иаҿугьы: ашьхауарба, ашьшьыга, амамырџагә еиқәаҵәа, ашьауардын-саԥсан, аҵырҟьа цәаԥшь, амшынҟыз, аӡыцәа шкәакәа ду уҳәа уб. егь.).

Агыгшәыгқәа рахьтә иҟоуп кавказтәи амшә еиқәаҵәа, абгалаџ, абга, абгахәыҷы, адәыҭәҳәа, абнацгәы, абнацыҕи ахаҳә цыҕи, аԥшӡеи, аашьышьи, аԥслыи).

Ашәарах рахьтә иуԥылоит кавказтәи абҕаџьма, европатәи абынҽа, ашьабсҭа, ақәасаб. Лассы-ласс иуԥылоит абынҳәа.

Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аҳаԥқәа ҽыцәҵәахырҭас ирымоуп ахәылԥҵысқәа. Урҭ 21 хкы рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Аҳаԥқәа ирҭоу афауна еиҳарак абҕа змам аԥстәқәа роуп. Еиҳа ижәытәӡоу аҳаԥқәа рҿы иуԥылоит зыда ыҟам аԥстәы хкқәа. Убас, Афонҿыцтәи аҳаԥы иамоуп троглокарис (Troglocarisschmidtiifajei) захьӡу амшынԥстәы, аҳаԥы бжы (Janeilusgloriosus).

Агерпетофаунаҟнытә иалкаатәуп ара иуԥыло (Viperakaznakowi) кавказтәи амаҭ дуи амшынбжьааратә акәуеи (Testudograeca), аҽаҩрадаҕь цәыши. Аҵыхәтәантәи, аҽаҩрадаҕь цәыш, иара иҟоу ахкқәа зегьы иреиҳау ахкқәа рахь иаҵанакуеит.

Аԥсны Амшын еиқәа еиҳа иаҷыдаҟзшьоу афауна аҟнытә аԥсыӡқәа рахь иԥхьаӡоуп: афранџь (Salmotrutta), ақьаԥыр, ашәиаҟ, амлагәыр, агәыҵаԥшь, ақамашьиа (аҷыҷмаса); адельфин ганшкәакәақәа, азовтәи, афалина; амедузақәа — аурелиа, корнерот, ризостома; амолиускақәа — амиди, венус, кардиум, рапана уб. иҵ. Зынӡа Амшын еиқәа иҭоуп 160 ԥсыӡ хкы.

Аԥсны ашьха рҩашқәа акалмаҳа (Salmotrutta) рацәаны ирымоуп. Амшынҿықәтәи акаршәрақәа рыҟны апҟызратә ӡиақәа ирымоуп апҟаз, аткәицар.




#Article 3: Багаԥшь, Сергеи Уасил-иԥа (700 words)


Серге́и Уаси́л-иԥа́ Бага́ԥшь (; , Аҟәа — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада (2005-2011 шш).

Диит хәажәкырамза 4 1949 шықәсазы Аҟәа ақалақь Уасили Шушанеи рҭаацәараҿы. Уи иаб иабду амҳаџьырра зыхганы иааз дреиуан. Ихьӡын Раџьаԥ. Иара Ҭырқтәылатәи Аԥсныҟа дхынҳәит XX ашәышықәса алагамҭаз. Иабду ихьӡын Саид. Уи иҭаацәеи иареи 1928 шықәсазы нхара диасуеит џбынџьла иахьатәу Џьгьарда ақыҭа Очамчыра араион.

Аибашьра ашьҭахь аминисторцәа рсовет аилазаареи 1 тәи ихаҭыԥуаҩ ахантәаҩыс Аԥснынтәи дышьҭын Москваҟа, Урыстәылатәи аҳәынҭқарреи Аԥсны аицхыраара рыбжьалараҿ аиқәшаҳаҭрақәа мҩаԥигон, иара убас уа иҟаз аԥсуаа рыцхырааразы.

Аԥсны ахада иалыхраҿ 2004 ш. В. Арӡынба ишьҭрамдаҩс дҟаиҵоит Р. Ҳаџьынба, аоппозици аҟынтәи дқәдырӷылеит С. Баӷаԥшь.

Уи икандидатуратә планаҿ хықәкы хадас иман итәылаҿ иҟаз авторитаризмра аԥыхра, 11 шықәса инеиԥынкыланы иҟаз.

Ҿыцны ишьақәыргылаз абжьыҭира Багаԥшьи Ҳаџьынбеи ртандем иаиоуит абыжьқәа рацәаны. Аԥсны алхратә центыр ишышьақәнаргыло ала, абжьыҭираҿ рҽаладрхәеит 75719 ауааԥсыра, иара иапонент Иакуб Лакоба - 3549. Жәабранымза 12 2005 ш-зы иҟалеит С. Багаԥшь иинаугурациа.

С. Багаԥшь бзиа ибон ирацәаны аҭаҭынхара, аха аамҭа цацыԥхьаӡа игәамбзиара ианымԥшыр залымшеит. 2007 ш-зы мшаԥымзазы Аԥсны ахада ахәышәтырҭахь дышьҭаҵан иоуз ахьаа иахҟьаны. Адырҩаҽны уи дԥыруеит Москваҟа, иҽыхәышәтәра уа иациҵарац Багаԥшь аԥхьа ихәыԥшит Росдрав акардиологиатә наука ҭҵааратә хәышәтәырҭа, уахьынтәи диаган ихадоу аклиникатә хәышәтәырҭахь, Урыстәыла Афедерациа напхгара ахьазиуаз. Абри зегь рышьҭахь Багаԥшь дызхәышәтәуз рдҵақәа рыла икаижьыр акәхоит бзиа иибоз аҭанынхара.

Цәыббрамза 20 2007 ш-зы гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Тҟәарчал араион иҟаз арра зхызгоз асолдаҭцәа ргәыԥ иақәлеит, иара убри ашықәсан жьҭаарамза 30 СНГ аҭынчрашьақәыргыларатә бжьаҟазаратә мчқәа ақырҭуа полициеи, иара убас урҭ раҵкыс џьарла еибыҭаз Қырҭтәыла аспецнази ирықыланы рабџьар рымырхуеит. 2008 шықәса алагамҭаз Қырҭтәылатәи ар Аԥсны аҳәаа иазааигәаны аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит. Урҭ уахьынтәи лассы-лассы Аԥсны атерриториа иахаԥраауа иалагеит аҳаирыпланқәа аԥырҩы дзықәтәам. Хәажәкырамза 18 мшаԥымза 20 рзы Аԥсны ашәарҭадара ацәаҳәа ааигәара икажьын ԥырҩыда иԥыруаз аҳаирыпланқәа. 2008 ш-зы ԥхынгәымза 25 рзы С. Багаԥшь официал визитла дцоит Москваҟа, урҭ уа Урыстәыла ахадеи иареи ирыцәалажәон Аԥсны ихьыԥшу ҳәынҭқарран азхаҵара. Ари ажәабжь ираҳаз ақырҭуа ҳәынҭқарра иаразнак иҽим анеготивтә реакциа рнаҭеит.

Д. Медведеви, Едуард Какоиты, С. Багаԥшьи, Кремль реиԥылара

С. Багаԥшь инапы иаҵаиҩуеит ф-принципк аҭышәантәалараз.

Нанҳәамза 14 2008 ш-зы Д. Медведеви, Аахыҵ Уаԥстәыла ахада Е. Какоитеи реиԥылараҿ инапы аҵеиҩит ф-принципк Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи, иара убас ақырҭуа-аԥсуеи реидыслара аҭышәантәалара, заа Медведеви Саркози аус здырулахьаз.

Мшаԥымзы 2011 ш-зы С. Багаԥшь Ҭырқтәыла иҟоу адиаспора рааԥхьарала дцоит хатәы визитла. Уи аҽны Ҭырқәтәылатәи Аҳәаанырцәтәи Аусқәа рминистрра иҟанаҵеит алаҳәарақәа уи иаара игәамбзиара ишадҳәалаз. Лаҵарамза 21 Багаԥшь Урыстәылатәи Франциатәи аспециалистра Москватәи аклиникатә хәышәтәырҭаҿ №83 дышҭан. Уи игәамбзиара аҭагылазаашьа иҟаз ала, ишьақәаргылан Аԥсны ахада ирыԥҳа акиба шамаз.

Лаҵарамза 27 ауха Аԥсны ахада Багаԥшь игәабзиара зынӡа ицәгьахоит. Уи ацхыраара ӷәӷәа шимазгьы, ичымазара дзазымиааикәа лаҵарамза 29 2011 ш-зы идунеи иԥсахуеит.

С. Багаԥшь уи нахыс рашәарамза 2 рзы аҵыхәтәантәи имҩаԥгара мҩаԥысуан Аҟәа дахьынхоз иҩны. Аԥсы дихаԥхьон Аԥснытәи аиашахаҵаратә уахәама амаӡаниҟәгаҩ аиреи Виссарион Аԥлиа. Уи ашьҭахь аԥсы диаргоит Аԥснытәи афилармониа ахан ахь, уа аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ абзиараз ҳәа иарҳәарц иааит Аҩадатәи Кавказ ареспубликақәа делегациа, ахәҭак-ахьала иазхаҵоу Мраҭашәартәи Уаԥстәыла, иара убас иазхаҵам атәылақәа Нагорни Карабах, Преднестровиа ахаҭарнакцәа, Урыстәыла аделегациеи, иара убас Урыстәыла ацхаражәҳәаҩ аусзуцәа, иара убас аҵыхәтәантәи инаскьагараҿ дыҟан Урыстәыла аԥыза-министр В. Путин.

С. Багаԥшь дызҭаз акәыба Аԥсны Ахьчаратә Министрра почиотла лафетла Аҟәа амҩа иқәсит. Уи ашьҭахь С. Багаԥшь иԥсы ргоит иқыҭа гәакьахь Џьгьарда, уа анышә дамардоит иани иаби анышә иахьамадоу рааигәара.

Ԥыҭҩык Аԥсни Урыстәылеи реиԥш, иара убас Аладагьы С. Багаԥшь ихцәажәон «акомпромисқәа дрызҟазан», еиҳа аҭагылазаашьа аныцәгьаз иара илшон зегьы ргәы нақәшәоз аҟазшьа аԥшаара аҩнкагьы ирнаалоз. Ари зегь реиҳа ихадаран ареспубликаз уи Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара адагьы, уи еиҳа ихадаран атәыла аҩныҵҟа иҟаз аҭагылазаашьа бааԥс аан. Иара Аԥсны хадас даныҟаз далагеит азҵаара аӡбара Урыстәыла атәылауаҩ ареспублика аҩнуҵҟа рҭагалара, иара убас Аԥсны атуризм ашьақәргылара, иара иаан акриминалтә ҭагылазаашьа атәыла аҩнуҵҟа ихысхахо иалагеит. Зегь реиҳа ихадараз урыстәылеи дареи ирыбжьаарҵаз адипломаттәи аекономикеи рганахьала ирыбжьалаз аус еицура. Багаԥшь Ҟырҭтәылеи дареи реизыҟазаашьаҿ иџьбарара иԥсахуамызт, аха Қырҭтәыла ахадара есааира ирыман даҽа гәаанахарак. Уи агәыӷра ақырҭуа наԥхгара ирымаз изыбзоураз иара Қырҭтәыла ССР акомсомол анаԥхгараҿ рус еицура акәын. Убри инадхәалан Багаԥшь иман агәаанагара ибзиоу аиҩызара рыбжьалараҵ ртәылеи дареи, аха уи ҟалон, урҭ Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵар.

С. Багаԥшь идҳәалоуп апериод Аԥсны аҭагылазаашьа аҭышәантәалара. Арӡынба иаамышҭахь атәыла даҭахын. Аԥсны усҟантәи аамҭаз даҭахын изҭагылаз аҭагылазаашьа бааԥс иҭынчроу аҭышәантәаларахь ииазгоз. С. Багаԥшь, иара зегь реиҳа еиӷьны дазнеит азҵаара азбараз.

Багаԥшь ижәлар рҿы аҳаҭыр ду иман, уи дивардыгылон В. Арӡынба. Даныԥсы ашҭахь еиунԥшьым аусҳәарҭақәарқәа рҿы исахьа зныз апотрети ашәҭ шьҵәрақәеи ықәгылан. Зегь реиҳа ахархәара аман раԥхьатәи Аԥсны ахада В. Арӡынбеи иареи 2005 ш-ры. еицтырхыз афото.




#Article 4: Анқәаб, Александр Золотинска-иԥа (1245 words)


Александр Золотинска-иԥа Анқәаб (; , Аҟәа, Аԥсны АССР, СССР) — Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза Министроуп. Иара 1952 шықәса 26 ҧхынҷкәынмза диит Аԥсны, Аҟәа. Ростовтәи Ауниверситет аҿы аҵара иҵеит. Нас аус иуеит рмаҵура уаҩыс Комсомол азын.

Александр Золотинска-иԥа Анқәаб диит 1952 ш. ԥхынҷкәымза 26 рзы Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭа, амилиционер иҭаацәараҿ. Уи аҭаацәараҿ иара дреиҳабын.

Ихыҿратәи иқәыԥшратәи ашықысқәа ихигеит аҳҭнықалақь Аҟәа. Дилгоит Аҟәатәи №16 тәи ашкол. 1970 ш-рзы дҭалоит Ростовтәи Аҳәынҭқарратә университет аиуристә факультет. Аха иҭаацәартә ҭагылаазшьа иахҟьаны иҵара алгара аҿҳәараамҭа аанӡа далгар акәхоит. 1974 ш-рзы иоднокурскцәа раԥхьа аԥышәарақәа қәҿиарала иҭиуеит.

Уи ашьҭахь уи далхын Гәдоуҭа араион ЛКСМ маӡаныҟәгаҩыс. 

Усҟантәи аамҭаз иара иқәԥшқәаз амаӡааныҟәгаҩцәа дыруаӡәкын. Иара иаамҭаз РОВД еиҳабыс даныҟаз еиҿкаан ахор. 1979 ш-рзы иреиӷьыз араион аколективтә хорқәа иреиуахеит.

А. Анқәаб 2011 ш-рзы ирылеиҳәаз адырраҿ 1992-1993 ш-рзы Аԥсны аибашьра аамҭаз, ицоз 431 мшы, аҩ-ганкгьы иалахәын 12-нызықьҩык ауааԥсыра, урҭ рахьынтәи иҭахеит 2700 инареиҳаны, 5-нызықьҩык инархыҳәҳәо ироуит ахәрақәа, 200 ауааԥсыра хабарда ибжьаӡыз ирхыԥхьаӡалоуп.

Цәыббрамза 27 1993 ш. Аҟәа ахақәыҭраан Аԥснытәи амчратә еилазаара Қырҭтәыла анаԥхгара усҟантәи аамҭаз Аҟәа иалахаз 17-ҩык ршәарҭадара рзеиқәмырхеит. Убри инархиҟьаны 1993 ш-рзы абҵараамза 8 рзы Анқәаб аҩныҵҟатәи аминистыр имаҵура аҟынтә ихы дақәиҭын.

Иубилеи аҽны, ԥхынҷкәымза 26 рзы Анқәаб имаз ахәылԥаз мап ацәеикуеит. Москва ажурналистцәа дырзаԥхьоит акыраамҭа ицоз алекциа Аԥсны аполитикатә ҭагылаазашьа иҟаз иахҟьаны. Ажурналистцәа руаӡк игәалашәараҿ излазгәеиҭоз ала, уи аҽны иааҟәымҵӡақәа иасуаз имабилтә ҭел дагьазхьаԥшуамызт. Уи аҭак ҟаиҵеиз знык Урыстәыла апремиа зҽаԥсазтәыз аопера артист Хьыбла Гьерзмаа.

Усҟантәи аамҭаз еиҿкааз апартиа «Аиҭаира» имчыдан, уи абжьыҭираан иарбаз апунктқәа акагьы азынамыгӡеит, уи аҳәамҭала изхҟьаз апартиа «Аиҭаира» иахьҳәынҭқарратәымыз ауп. Аԥсны аҳәынҭқар иалыхраан «Иаку Аԥсны» апартиа Анқәаб дықәнаргылеит апрезидент ихаҭыԥуаҩс, С. Багаԥшь президентс. Атандем иаиут 60% абыжьқәа актәи атураҿ, 2010 жәабранымза 15 инаркны Александр Золотинск-иԥа дыҟан Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩс. С. Багаԥшьи С. Шамбеи реиԥш Аԥсны ахада ихаҭыԥуаҩ Анқәаб Урыстәыла аҳәынҭқарра аҟынтәи имаӡамызт адгылара, аха зегь дарароуп иара имаз ажәлар рҟынтәи адгылара иахҟьаны илшеит С. Шамба ахԥатәи аҭыԥахь инаскьагара.

Ԥхынгәымза 25 рзы 2011 ш-рзы Аԥсны алхратә центртә комиссиа ашәҟәы иҭарҩит Анқәаб икандидатура Аԥсны аҳәынҭқарра иҭыԥан, уи ихаҭыԥуаҩс ашәҟәы дҭаҩын Гәлрыԥшь араион ахада усҟантәи аамҭаз Михаил Логуа. Алхратә штаб напхгаҩыс дҟаҵан Леонид Лакербаи. Анқәаб Аԥсны ахада иалхраҿ деиканҩуан асоциал демократиатә партиа ахада Сергеи Шамба, уи ихаҭыԥуаҩс шамиль Аӡынба, иара убас икандидатура ықәгылан аопозициатә партиа «Жәлар ракзаара афорум» ахада Р. Ҳаџьынба. Уи ихаҭыԥҩас дцон Светлана Џьергениа.

А. Анқәаб икандидатура ықәызыргылаз апартиақәа «Аиҭаира», «Аԥсны акзаара» раамышьҭахь иоут иара убас адгылар Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра 1992-1993 шш. аветеранцәа рхеилак «Амцахара» рҟынтәи. Иара убас Аԥсны иҟоу аурыс хеилаки, Аԥсны аҿар рфорум ахеилаки иҟарҵеит адгылара Анқәаб икандидатураз. Нанҳәамза 26 рзы иҟаз абжьыҭыраҿы уи иоуит 54,96% абжьқәа, 72% алхыҩцәа рхы аладырхәит.

Цәыббрамза 26 рзы идикылеит иҳәынҭқарра аҿаԥхьа аҭоуба. Анқәаб Аԥсны ахадарахь даннеи ирылеиҳәеит уи иаҭыԥуаҩ иҟоу иус еиҳа армариара, ма Аԥсны зынӡа ипарламент ҳәынҭқарран аҟаҵара. Уи Аԥсны ахадараҿ дыҟанаҵ изныкымкәа Урыстәыла ахадеи иареи еиԥылахьан. Иара убас иман аиԥылара Қырҭтәыла иҟоу Чехиатәи аҵҳаратәҳәаҩи иареи.

Лаҵарамза 24 рзы 2013 ш. Урыстәылатәи агәыҳалалратә форум аҿы А. Анқәаб аҳәара ҟаиҵоит Москватәи апатриарх ишҟа, Аԥснытәи анцәахаҵаратә уахәамақәеи, Аԥснытәи аепископи хылаԥшра азиурц, избанзар усҟантәи Қырҭтәылатәи анҵәахаҵаратә уахәамеи, иара убас ирыбжьаз адоуҳатә культуреи дареи иахьа ирымаӡам аимадара. Уи ала иара агәра ганы дыҟан Аԥсны анцәа хаҵара ауахәамақәа ирыбжьаз аиҿагылара аԥыххоит ҳәа, аха ари аԥшьгара иҟаиҵаз иазаамырԥшит алыҵшәа.

Жьҭараамза 29 рзы Анқәаб аԥхьатәара дишьҭуеит Аԥсны ашәарҭадара ахеилак амаӡаныҟәгаҩ Станислав Лакоба. С. Лакоба ихаҭа иԥхьатәара дақәшаҳаҭымхеит, уи Аԥсны ахада ахара идиҵоит амчра импыҵаирхалеит ҳәа. Аполитикцәа рыбжьара иҟалаз аидыслара еиҳарак изыхҟьаз Гал араион анхаҩцәа, ақырҭуа милаҭ змоу ауааԥсыра аформа №9 ихьыԥсаххьаз Аԥсны атәлауаҩ ипаспорт ала. Жәабранымза 7 2014 ш-рзы Аԥсны ахада А. Анқәаб иҽалаирхәит Шәача иҟаз аӡынтәи аолимпиадтә хәмаррақәа раартра ацеремониа. Иара иаҳәарала Аԥсны иасасцәан аолимпиада иалахәызи асасцәеи. Иара убас Аԥсны ахада еиҿкаарала Шәача аолимпиадатә комплексқәа рыргылараан Аԥснынтәи иашьҭуан аинерттә ргыларатә маҭәахәқәа. Аԥсны аҳәаа ахьчара нахь ала атәыла амчратә шәарҭадаратә структура инаҳараку ахылаԥшра арҭеит.

Мшаԥымза инаркны нанҳәамзанӡа 2014 ш-зы Аԥсны аҩныҵҟа иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа акыр иуадаҩхеит, уи инахырҟьаны лаҵарамза 27 инаркны рашәарамза 1 иҟалеит ажәлар реизара. Урҭ ирымаз агәамҵра икылнагеит аҳәынҭқарратә амчхара ахан аанкыларахь. Амитынгаҿы еизаз рықәгылараҿ еиҳарак иазгәарҭоз апунтқәа иреиуан изакәанымқәа ақырҭуа милаҭ Аԥсны атәылауаҩ ипаспорт иҭара, урыстәылатәи афинанстә цхыраара иҟарҵаз дара даҽа ус ахь аиагара, иара убас Аԥсны авторитартә напхгара аманы аҟалара. Аԥхьа Анқәаб аиҿцәажәара мҩаԥыгон агәынамӡаҩцәеи иареи урҭ мчыла иааныркылаз аҳәынҭқарратә хан аҩныҵҟа, уи аиҿцәажәара алыҵшәа шамоуаз аниба ашьҭахь, иара убас ажәлар еиҿанамгаларц азыҳәан, диасуеит Урыстәылатәи арратә база Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟаз. Иара уа ирыцҵахоит аиҿцәажәара аоппозициа алахәылацәеи апарламент алахәылацәеи иареи. Ари аиҿцәажәараҿ рхы аладырхәит Урыстәыла аҳәынҭқарра Афедерациа ашәарҭадара асовет ихаҭыԥуаҩ Рашид Нургалиеви Урыстәыла аҳәынҭқар ицхырааҩ Владислав Суркови.

Аха арҭ аиҿцәажәарақәа лыҵшәадахеит. А. Анқәаб Аԥсны Аҳәынҭқарра ахадара нижьыр акәхоит.

Рашәарамза 1 2014 ш-рзы Аԥсны ахада Анқәаби иара ицыз икамандеи иареи ирылаҳәан ԥхьатәара ишцаз. Иара убас рус аҟынтәи рхы иақәиҭын Аԥсны х-раионк ахадара, иара убас ихы дақәиҭы аҳәынҭқарра апрокурор хада. Аҩыганкгьы ирымаз ачҳара ибзоураны, наҟ-ааҟы абџьар матәа шрымазгьы, ашәарҭадараҭә еилазаара азин шрымазгьы закәанла иалхыз ахада изин ахьчара, уи азин риимҭаӡеит ажәлар рахь ахысра. Нанҳәамза 24 2014 ш-рзы иазгәаҭан абжьыҭира, арҭ абжьыҭырақәарҿ аԥхьахә игеит аоппозициа аԥхьагыла Рауль Ҳаџьымба.

Анқәаб ԥхьатәара данцаз ашьҭахь, иааиз Аԥсны амчра ҿыц, уи изин имирхит аҳәынҭқарратә хьчара, убри нахырҟьаны Москваҟа нхара диасыр акәхоит. Уи уахьынтәи Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа анырра аиҭон. 2014 ш-рзы Аԥсны иҟоу абжьыҭираҿ дидгылеит аинрал-моиор Аслан Бжьаниа.

Ԥахьатәи Аԥсны ахада иԥхьатәара ашьҭахь ауаа рахь дцәырҵит ԥхынгәымза 31 2014 ш-рзы, уи даҭааит «форум-холле» алхра аламҭалаз Бжьаниеи, аурыс уажәларреи, аԥсуа диаспореи реиқәшәараҿ. 

Аԥсны ахада иалхраҿ Анқәаб дзыдгылоз Бжьаниа икандидатура аҩбатәи аҭыԥ аанакылеит, 14 нызықь бжьыла Р. Ҳаџьымба диеиҵахеит.

Анқәаб Аԥсны апарламентахь далхын, уи иоуит 52% абжьқәа инареиҳаны.

Анқәаб Аҳәынҭқарра ахадараҿ дыҟанаҵ фынтә ишьра рҽазыркхьан. Ԥшьынтә-аԥыза-министрс даныҟаз, знык-знык ахада ихаҭыԥуаҩс даныҟази данхадази. Уи иоухьан ҩынтә ахәра, иҭархан ҩыџьа дзыхьчози. Иара убас Аԥсны хадас дыҟанаҵ хынтә ишьразы аплан ҟарҵахьан, аха уи рус рзынамыгӡеит. Раԥхьатәи аиакәым рҽазкра иҟаҵаз аекспертцәеи аполитикцәеи ишиазгәарҭаз ала иалкаан Анқәаб иахь иршыхамаз, урҭ хықәкыс ирыман Аҳәынҭқарра аҭыгылазаашьа аҭышәынтәалара аилаҩнтра акәын. Аха анаҩстәқәа Аԥсны ахада ишьра аҽазкра аекспертцәа ишазгәаҭраз ала уизыхҟьаз еиҳарак Анқәаб дзгирхкьоз уи имҩаԥигоз акриминал атәыла аҩныҵҟа иҟаз аанкылара дахьазықәԥоз акәын.

Ари ашьауӷатә лыҵшәа аԥшааран, иԥшаан ацәгьаҟаҵаҩецәа ргәыԥ 2007 ш-зы 2012 ш. Аԥсны ахада А. Анқәаб ишьра зҽазыкқәаз. Иара убас атеррористә гәыԥ «Иамарат Кавказ» аиҿкаацәа. Рыжәаҩкри ашьауӷа аус ала ирԥшааз ахара рыдҵан, урҭ рахьынтә аинрал-маиор Асланбеи Кчач иакәын, уи икраан ихала иҽишьуеит. 

Аԥсны Аҳәынҭқарра апрокурор хада еигьырҭ иалахәыз ацәгьауцәа ахара рыднаҵоит ԥсраҽнынӡа итакзаарц.

Ари аус аҿы ихадоу амалрҳаҩ Павел Арӡынба иоуп ҳәа иԥхьаӡан ԥхь. Ԥхынҷкәынымза 13 2017 ш-зы Аҩдатәи Ишыра ақыҭа иишақәргылам хаҭарала дшьын Павел Арӡынба. Абанда аиҿкаанцәа руаҵк Р. Барцыц иахьа уажәраанцәа дыхықоуп ихаҭара шақәргылаӡам.

Анқәаб аамҭак ала дыҟоуп Аԥсни Уристәылеи дыртәылауҩны. Урыстәыла атәылауҩа ихаҭарнак иаҳасибала изныкымкәа абжьыҭырақәа рҿы ихы рылаирхәуан. Уи дадгилоит Урыстәылеи Аԥсны реизааигәатәара, аурыс бызшәа афициал статус аманы иҟазарц, убри аамҭаз уи даҿагылоит ақырҭуа бызшәа Аԥсны уи абызшәа анкьатәи иамаз астатус амамзарц, ибри аамҭаз Гал араион ақырҭуа милаҭ шынхогьы хьаас имкыкәа. Иара убас Анқәаб иполитикатә усураҿ дыдгылоит Қырҭтәылеи Аԥсны еизеиҟараны азакәанқәа рымазарц, хаз-хазы еиҟәыҭханы иҟазарц ҩ-ҳәынҭқарракны.

Анқәаб иара убас даҿагалоит Қырҭтәыла ахҵәаҩцәа Аԥсныҟа рыхынҳәара, Гал араион иаланхоз ауааԥсыра рымацара ада. Аха иазгәаҭатәу уи иаамҭаз, Аԥсны хадас даныҟаз, Аԥсы инхо ақырҭуа милаҭқәа згьы ириҭан Аԥсны атәылуаҩра зыршаҳаҭуа ашәҟәы. Анқәаб иаамҭа, уи еиуеиԥшым аҭыԥқәа ананыкылоз, иара Аԥсны данахадазгьы, дарбан уаҩзаалакгьы азын иман аҭел изасра, ихадоу усзар ихаҭа дидикылар алшон.

Хәажәкырамза 16 2014 ш-зы Крим имҩаԥнагаз ареферендум Урыстәыла алаларазы, уи иазгәыҭоит Аԥсны даара аҳаҭыр шақәнаҵо, иагьадгылоит уа иаланхо ажәлар иҟарҵаз алхраҿ.

Анқәаб даара бзиа ибоит аспорт, Қырҭтәыла данынхоз уи абнатә ҳәақәа рзышәарыцара дханагалан даман.

Иԥшәма — Рымма Васил-иԥҳа Лакоба, милаҭла даԥсуоуп, абиологиатә наука дакандидатуп. ирымоуп ҩыџьа ахшара: Александр (1983 ш), Инал (1994 ш).

Иԥа Александр — амидиаторцәа разыҟаҵара аексперттә центр, аҳәынҭқарратә — зинтә дисциплина акафедра адоцент Урыстәлатәы жәларатә  нхамҩа ракадемиа убас Урыстәыла Афедерациа ахада аҳәынҭқарратә шәарҭадара аҟны, иара убас аиуристә наука акандидат.




#Article 5: Амҷба, Гьаргь Алеқсандр-иԥа (668 words)


Гьаргь Алеқсандр-иԥа Амҷба — Адырра егьакуп, егьыҩбоуп рҳәоит. Егьиашоуп.

Гьаргь Амҷба аҧсуа жәлар рҭоурых аҭҵаараҿы иааникылоз аҭыҧ хазын. Уи ишьҭихуаз апроблемақәеи, дзыхцәажәоз, иҭиҵаауаз атемақәа ргәылыршәашьеи ирыбзоураны аҧхьаҩцәа иусумҭақәа аҭыҵха рырҭомызт, еимыҵәҵәа иргон.

Гьаргь Амҷба жәа-монографиак дравторын, аҵарадырратә журналқәеи еиуеиҧшым аизгақәеи ирниҵахьаз аусумҭақәа маҷмызт, аха ианакәызаалак иара иҟәнишьон,  „иҵегь сылшар ауан,“ – иҳәон.

Гьаргь Амҷба амедиевистикатә дунеи дагәылалеит Кавказ аҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа дуқәа иара иахь ихьазырҧшыз, лахә-лахәы ишьклаҧшуаз иоппонентцәа ргәы ашьаҟәаҟәа ҭазҵаз, изыршәыз иусумҭа „Аҧсуа ҳәынҭқарра иазку ақырҭуа нарративтә хыҵхырҭақәа“ ала. Уи нахыс, хрыжь-хрыжь акәзаргьы, еишьҭагыланы рҿаархеит қырҭшәала еиҧш, бырзен бызшәала, шәамахь бызшәала ажәытә шәҟәқәа ирну ҳҭоурых цәырызгаз егьырҭ иусумҭақәагьы: „Абжьаратәи ашәы- шықәсақәа ирыҵаркуа ақырҭуа ҩыратә хыҵхырҭақәа Аҧсназы ирҳәо“,

Аҧсуа культуратә  ҧсҭазаараҿы зеиҧш ҟамлацыз хҭысхеит ҵакыла еиҧш, формалагьы иҧшӡаӡа 1993 шықәса рзы ҭырқәшәала Сҭампыл иҭыҵыз Гьаргь Амҷба ишәҟәы „Аҧсуааи алазқәеи“. Уаанӡа иҭыҵхьаз иҩымҭақәа реиҧш, ари ашәҟәаҿы автор аҧхьаҩ иирбоит абжьаратәи ашәышықәсақәа раан аҧсуа етно- политикатә шьақәгыларақәа ирымаз асоциалтә-политикатә ҭагылазаашьеи рхьыҧшымразы урҭ иаадырҧшуаз ахаҵареи. 

Aбжьаратәи ашәышықәсақәа аҧсуа жәлар рҭоурых аҿы даараӡа акрызҵазкуа аамҭан. Зегьы раҧхьаӡа иргыланы, ари Аҧсны афеодалтә еизыҟазаашьақәа рцәырҵреи рыҿиа- реи ираамҭан, ақьырсиантә культура ҳабацәа рабацәа дуқәа ианрылаҵәаз, аҧсуаа рхатә ҳәынҭқарра ҟаҵаны иаркы-ирцә ҳәа геи-шьхеи, ладеи-ҩадеи ианрыбжьаз аамҭан. Урҭ зегьы дырра ҳаракыла, гәык-ҧсык ала, ламысла рыҩра, усҟан, аҭоурыхтә ҵабырг, ишырҳәо еиҧш, ала ҟырҟы ианкылырхуаз аамҭазы, имариамызт.

Аҵарауаҩ ихи иҧси дырмеигӡар акәын. Гьаргь Амҷба абри аус аҿы илшаз ахә ашьара уадаҩуп.

Аҵыхәтәантәи ахәышықәса ирылагӡаны, изыҧшыз идыруазшәа, уи иҭижьит даҽа ҩ-шәҟәык: „Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аҧсны иҟаз акультуреи аидеологиеи“, „Аҧсны абжьаратәи ашәышықәсақәа репохазы“.

Аҧхьатәи ашәҟәы, иара ахьӡ ахаҭа ишаҳәо еиҧш, VI-X ашәышықәсақәа рзы Аҧсны идыргылаз аҭоурыхтә баҟақәеи, ҳәынҭқарратә динк аҳасаб ала аҧсуаа ақьырсианра шрыдыркы-лази, насгьы урҭ рыҧсҭазаараҿы уи иааннакылаз аҭыҧи ирызкуп. Аҩбатәи ашәҟәаҿы ажәытәӡатәи аҩыратә хыҵхырҭақәеи, археологиатә материалқәеи, аетнологиеи ҵаҵҕәыс иҟаҵаны, автор иааирҧшуеит аҧсуа жәлар рынхамҩа аҭоурыхи рсоциалтә еизыҟазаашьақәеи. Аха Гьаргь уи инапаҿы иааникыларатә еиҧш аразҟы илахь ианымызт.

Иҟоуп акьыҧхь зымбац даҽа усумҭа дук. Уи аҧсуаа рҭоурыхтә антро- понимиа иазкуп. Ари аусумҭа аҧсуаҭҵаараҿы уникалтә ҧҵамҭа ҿыцуп. Аҧсуа саҧсуоуп ҳәа адунеи ишьапы нықәиргылазар аахыс ихьӡырҵоз, хьыӡшьарас ирҭоз, иабиҧарахьыӡқәа уҳәа аҧхьаҩ зинтерес икыша, иџьеишьаша, илакәишьаша рацәоуп ари аусумҭаҿы. Автор ихаҭагьы уи азы алкаа ҷыда ҟаиҵеит: аҧсуа жәлар рҭоурыхтә антропонимиа ретностә ҭоурых аҭҵаара акырӡа иацхраауеит, иҭнагоит. Ҩашьара ақәымкәа уи иаҳнарбоит иара убас урҭ рполитикатә, ркультуратә ориентациагьы.

Гьаргь Амҷба зымҽхак ҭбааз ҵарауаҩын. Уи ибзиаӡаны идыруан дызлиааз ижәлар рбызшәа амаӡақәа, аҧсы ахьҭаз, урҭ рҵасқәеи рқьабзқәеи рҷыдарақәа, рҿаҧыцтә рҿиамҭақәа уҳәа аҧсуара злеибарку зегьы. Абри аганахь ала иналкааны иазгәаҭатәу усумҭоуп иетнологиатә ҭҵаамҭа „Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара“. Хаҭала иара автор „адәы иқәигаз“ аматериал хьыршәыгәқәа ихы иархәаны, ицәыригеит ҳажәлар рыбзазара иузалымхуа иалаз аҽы акульт,
иахьанӡагьы урҭ даҽа жәларык  ирылазмырҩашьо абаҩҷыдара, ретностә специфика.

Аҵарадырраҿы Гьаргь Амҷба изы аус злаз аҭоурытә факт акәын. Афакт иара изы ихсаалаган, ишәага-заган, иқәырҧшыган, зегьы зхагьежьуаз лыран.

Гьаргь Амҷба дагьеиҭагаҩын. Алықьса Гогәуеи иареи еицхырааны Иаков Цурҭавели иҭоурыхтә рҿиамҭа „Шушаник игәаҟра“ аҧсышәала идырцәажәахьан. Иара ихалагьы аҧсуа ҧхьаҩ ииҭахьан Константине Гамсахурдиа иажәабжьқәа акыр. Аҧсшәа аҟынтә ақырҭшәахь еиҭеигахьан „Нарҭаа репос“. Гьаргь Амҷба ибзоураны аҧсуа ҧхьаҩцәа ироухьан арумын шәҟәыҩҩ Виктор Кернбахи, авенгр ҭоурыхҭҵааҩ Лиош Ҭардии, америкатәи аетнолог Сула Бенети аҧсуаа ирызкны ирыҩхьоу ашәҟәқәа.

 

Гьаргь Амҷба аҧсабара иланаҵаз абаҩхатәреи идырра дуи аҧсуа ҵарадырреи аҵараиурҭақәеи рзы иҵәатәышьаҟақәан. Жәашықәсала уи иџьабаа Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт иадиҵахьан. Уи араҟа зквалификациа ҳаракӡоу аҭоурыхҭҵааҩцәа дреиуан. Аҧсуа Ҳәынҭқарратә университет аҿы алеқциақәа дрыҧхьон, зны Аҧсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнографиеи ркафедра дреиҳабын, аҽазных аҭоурыхтә факультет дахагылт, ддеканын. Абраҟа Гьаргь Амҷба дпрофессорын, аҿар аҭоурых дирҵон, аҧсуара рылаиааӡон.  

Гьаргь Амҷба ҵарауаҩык иаҳасаб ала ддуун, рҵаҩык иаҳасаб алагьы. Аха „издыруеит“ ҳәа мыцхәы иҳәомызт. Иҵкыс аҵара сымоуп ҳәа, ипара збеит ҳәа амалахазгьы ауаҩы диқәыҕә-ҕәомызт, длаирҟәуамызт, уимоу, дзацәажәоз џьара иакәымк иамхаҳәаргьы, дхьижәомызт, имаршәа кны, имырхьааӡакәа ихы иирдыруан.

Хынҩажәифба шықәса қәрам аҧсуа хаҵа изы. Иуаҩра дынҭалеит аҟароуп.

Гьаргь инарцәымҩа дықәлеит еиҳагьы ҳажәлар рҿахәы аниҳәашаз, еиҳагьы анилшашаз, еиҳагьы данаҳҭахыз аамҭазы.

Гьаргь дҵарауаҩын, дҵарауаҩыҵәҟьан. Аҧсуа ҭоурыхҭҵаара иара ида ихьысҳахоит. Шәҩыла анцәа иҳаҭәеишьааит, аха иахьазы Гьаргь Амҷба дзыҧсахша аҭоурыхҭҵааҩ иҧшаара мариам. Уи иахьа еиҵагылоу аҧсуа интеллигенциа зырбеиоз, иӡырызгоз, изырҧшӡоз, ҳагьзлаҽхәоз ауаа хатәрақәа, ауаа нырҳарақәа дреиуан.

Ҟазшьала Гьаргь дҭынчшәа дыҟан, аха дыџьбаран, дтәаны думбар, дгыланы ихы уирбомызт, ачҳара змаз жәытә арҧысын, даамысҭашәан. Аиҩызараҿ дҧышәан – даартын, дыгәшаҭаҩын, дгәыбылҩын, дчеиџьыкауаҩын. 

Ҳажәлар дрыҧхеит аҵеи хазына, аҵеи лаша, аҵеи хьӡырҳәага – ауаҩ ду.




#Article 6: Аусумҭақәа (102 words)


Аусумҭақәа. Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи. - Аҟәа: Аҧсуа бызшәа аҿиара аҳәынҭқарратә фонд, 2004; 639 д.

Апрофессор Гьаргь Амҷба иусумҭақәа иргәылоуп Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку аҩымҭақәа. 

Урҭ Кавказ аҭҵаарадырратә дунеиаҿ мацара акумкуа, аҳәаанырцәгьы ахәшьара ҳарак зыҭоу амонографиақәа: Заатәи абжьарашәышықәсақәа рхаан Аҧсны аполитикатә ҭагылазаашьа, Аҧсны аҭоурыхи аетнографиеи ирызку астатиақәа, Аҧсуаа рҽыбҕаҟазара рҟынтә иаагоуп, иара убас апериодика ианылахьоу аҭҵаарадырратә статиақәа,  арецензиақәа, аҧсуаҭҵаара аусзуҩцәа ирызку анҵамҭақәа, аиҭагақәа рылоуп.
 
Ашҟәы иагәылоу аусумҭақәа тематикалеи хронологиалеи даараӡа иҭбаауп, хымҧада, аҧхьаҩ изы аинтерес ду рыҵоуп.

Ари ашҟәы рхы иадырхәар алшоит аҭоурыхҭҵааҩцәа, аетнологцәа, арҵаҩцәа, астудентцәа, иара убас Аҧсны аҭоурых иазҿлымҳау аҧхьаҩцәа зегьы.

Ашҟәы аҭыжьразы афинанстә цхыраара ҟанаҵеит Аҧсадгьыл ахь ахынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилак.




#Article 7: Беигәаа, Омар Баирам-иԥа (171 words)


Омар Баирам-иԥа Беигәаа (; , Ҭырқәтәыла) — Ҭырқәтәыла ашәҟәыҩҩы.

Омар Беигәаа диит Ҭырқәтәыла, 1901 шықәса рашәарамза аказы. Дахьиз ақыҭа ҭырқәшәала Ефҭени Ҳаџьыс уеиманбеи қьиоҩы ҳәа иашьҭоуп, уаатәи аԥсуаа ракәзар ҩ-хьзык рыла аӡбахә рҳәоит: Ашәы Ҳаџьы иқыҭа, мамзаргьы Ашәаа рқыҭа.

Иабшьҭра иазкны Омар Беигәаа иҩуеит: «...Саб — Баирам. Баирам иаб - Ҳасан. Ҳасан иаб - Маџь. Маџь иаб - Мамгәыл... Сыҩны аԥшәма ԥхәыс — Кәарҷиа ԥҳауп, Шьааиан лыхьӡуп. Баирам иԥҳәыс, сан — Шам-ԥҳан, Мкыд лыхьӡын; Баирам иан, санду — Ладариа-ԥҳан. Аладариа-ԥҳа данԥсы, Кҷын-ԥҳа дааигеит. Аԥсны иқаҵыз сабду Ҳасан иауп. Уи дынхон Абжьаҟәа. Абыгәаа игәылацәан...»

Диузџьетәи ашкол даналга, Беигәаа Омар Едырнетәи алицеи даанахәоит, уи қәҿиарала далгоит нџьнырк иаҳасабла. Абри изанааҭ ала иуеит 1964 шықәсанза. уинахыс аԥсшьараамҭахь /атәанчарахьы/ диасуеит. Дынхоит Сҭампыл.

Поетк иаҳасабла Беигәаа Омар арҿиера ус инапы алакыуп 1918 шықәса инаркны. Уи инапы иҵыҵхьеит иара убас аԥсуаа рбызшәеи, рҭоурыхи, рмифологиеи ирызкны акыр иаԥсоу аусумҭақәа.

Иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа.

Аҭампылатәи аԥсыуа бхьы. Ажәеинраалақәа. Аҟәа, 1990

Антологиаҿ иаагоу О. Беигәаа иҨымҭақәа абри ашәҟәы анҵыҵ ашьҭахь автор инапы иҵигаз аредакциала икьыԥхьуп.




#Article 8: Қырҭтәыла (1006 words)


Қырҭтәы́ла () – Кавказ мрагылара аган ахь ала иҟоу атәыла.
Аладаҿы Қырҭтәылеи Ермантәылеи, Азербаиџьани, аҩада-мраҭашәараҿы - Қырҭтәылеи Урыстәылеи аҳәаақәа иамоуп.

Қырҭтәылa aбирaҟ aрaӡны фонaҿ (aфон шкәaкәaҿ) иaрбоуп идуу aџьaр ҟaҧшьи, ҧшь-џьaр хәыҷыки.
Ари, зегьеицырзеиҧшу иқьырсиaну aсимволқәa - ҳaзшaз Анцәеи ҧшь-ҩырaцқьaки aуп иaaнaго.
Аџьaр aгерaльдикaтә дыргaны рaҧхьaӡa ицәырҵит 1099 шықәсaзы, aџьaрныҟәгaҩ Жофруa де Буилон игерб aҿы.
Убри aaмҭa инaркны aри aгерaльдикaтә дыргa Анцәa инышәынҭреи, aқьырсиaнрa aцентр Иерусaлими aуп иaaнaго. Ари aгерб хы-хьӡык aмоуп: Жофруa де Буилон игерб, Иерусaлимтәи aгерб, Адыргa цқьa.

Арaӡны (aшкәaкәa) aгерaльдикaҿ aцқьaрa, aхшыҩ ду aуп иaaнaго, aҟaҧшь - aфырхaҵaрa, aӷьеҩрa, aиaшaрa, aбзиaбaрa.
Анџьелино Дульчери иaҧиҵaз aҳәaaқәa рыхсaaлaҿ - портулaн aҿы (1339 ш.), Фрaнческо ди Лaпоччои Доменико ди Бонинсеньеи aмшынтә рыхсaaлaҿ (1367ш.), Сидер aмшынтә ихсaaлaҿ (1565 ш.) Қырҭтәылa aтерриториa aбри aбирaҟ aлa иaзгәaҭaн.

Агерб ду

Ахәҭaҟaҧшь aҿы aхьтәы ореол змоу, aхьтәы џьaр змоу aрaӡны ҧсa зку, иҽыжәу Гьaргь aцқьa aрaӡны гәылшьaп ишьуеит:
aсaҧaр aқырҭуa (ивериaтәи) aгәыргьын aлa ирҧшӡоуп:
aсaҧaр ныҟәгaҩцәaны ҩ-хьтәы лымык иaрбоуп:
aсaҧaр шьaҭaс иaмоуп aстилизaциa зызу aӡaхәa aқырҭуa орнaменти, aдевиз зну aбaнти;
иҟaҧшьу-ишкәaкәоу aбaнт мхедрули aнбaн aлa aдевиз aнуп: Акзaaрa aуп aмч змоу.

Агерб хәыҷы

Ахәҭaҟaҧшь aҿы aхьтәы ореол змоу, aхьтәы џьaр змоу aрaӡны ҧсa зку, иҽыжәу Гьaргь aцқьa aрaӡны гәылшьaп ишьуеит;

Гьaргь aцқьa

Иқьырсиaну aдунеи aҿы Гьaргь aцқьa пaту иқәырҵоит. Адиниaшaхaҵaҩцәa мaцaрa рaкәымкәa, aқьырсиaнцәa зегьы бзиa дырбоит. Уи aдaгьы, aҧсылмaнцәa рышәҟәы цқьa, Аҟәырҟaн aҿгьы  Гьaргь aцқьa иӡбaхә ҳәоуп.Гьaргь aцқьa иқьырсиaну aдунеи aҿы Ҳaзшaз Анцәa ду ир рҧызaс, aaрцәтәи aдунеи aфырхaцәa рхылaҧшхәыс, aуaҩытәыҩсa ихылaҧшхәыс, aгәaҟрa иҭaгылоу aуaa рыцхырaaҩыс дрыҧхьaӡоит.

Ацәгьa иaҿaгыло, aҵaбырги aиaaиреи рсимвол, aрaшь шкәaкәa иaқәтәо Гьaргь aцқьa, aқырҭуaa рзы дҿырҧшыгaны дҟaлеит. Жәытәнaтә aaхыс Гьaргьт aцқьa  aқырҭуaa рхылaҧшхәыс дрыҧхьaӡоит.

Ари иaбзоурaны, уaмaшәa иубaрaтәы иҟaм Қырҭтәылaҿ Гьaргь aцқьa ихьӡ зху 365 уaхәaмaк aхьдыргылaз. Аиaшaхaҵaрaтә aқырҭуa уaхәaмa Гьaргь имшныҳәa шықәсык aлa  ҩынтә иaзгәaнaҭоит.

Ивaне Џьaвaхишвили (Ақырҭуa милaҭ рҭоурых, aшәҟәы I) ишызгәеиҭо еиҧш, aқырҭуa ихшыҩ aҿы aнцәaхәқәa рыбжьaрa зегь реиҳa ихaдоу aҭыҧ aaникылоит Гьaргь aцқьa. Ақырҭуa жәлaр Гьaргь иныҳәaқәa шықәсык aлa изныкымкәa иaзгәaрҭоит. Иaзгәaҭaтәуп жәлaр рныҳәaқәa: Хевсуреҭи aҟны Хaхмaҭтәи aџьaри, Гудaнтәи aџьaри, Сaнебaтәи aџьaри, Ҧшaви aҟны Лaшaртәи aџьaри, Мҭиулеҭи aҟны Ломистәи aџьaри уб. егь. Гергисобa, Усaнеҭобa, Арбобa aқырҭуa жәлaр ррелигиaтә ныҳәaқәоуп, урҭ  Гьaргь aцқьa ихьӡ иaдҳәaлоуп.

Гьыргәaл Ҧерaӡе идыррaқәa рылa, 1180 шықәсaзы, Жaк де Витр, Иерусaлимтәи aпaтриaрх иҩуaн: Мрaгылaрaҿ дaҽa иқьырсиaну жәлaрык иҟоуп, урҭ aибaшьрaҿ, aидыслaрaҿ ифырхaцәоуп, иӷәӷәоуп. Аибaшьцәa рaцәaны ирымуоп. Арҭ aуaa георгиaн ҳәa ирышьҭоуп, избaн aкәзaр Гьaргь aцқьa пaтуқәҵaрaлa изныҟәоит, aӷaцәa рaбaшьрaaн рхылaҧшхәыс дрыҧхьaӡоит, егьырҭ aцқьaцәa рaцкьыс  иaҳa пaту иқәырҵоит.
Иџьшьaтәым,  aдунеи aиҳaрaк aҿы иaхьaгьы жоржиaнцәa, џьорџьиaнцәa мa георгиaнцәa ҳәa иaхьҳaшьҭоу.
 
Агерб aсaҧaр aҿы Қырҭтәылa aсимвол еиҧш Гьaргь aцқьa исaхьa рaҧхьaӡa иaҳҧылоит 1672 шықәсaзы Урыстәылa иҭыжьыз Атитулиaри, Вaхушти Бaгрaтиони 1735 шықәсaзтәи иусумҭеи рҿы.
Агерб aсaҧaр aхәҭaҟaҧшь aҿы Гьaргь aцқьa исaхьa, Қырҭтәылa aуaaжәлaр рзы aри aфигурa aхaдaрa ду шaмоу иaзгәaнaҭоит.

Ашьхaтә системеи aҳaрaкырaқәеи Қырҭтәылa aтерриториa 80% aaныркылоит. Қырҭтәылa aдгьылхҩылaaрaтә лaгылaзaaрa 40'еи 47' мрaгылaрaтә aҭбaaреи, 41'еи 44' aҩaдaтә aуреи рыбжьaрa иҟоуп.

Мрaгылaрaтә Қырҭтәылaҟны хбaрроуп, aҳaуa иконтинентaлуп, aҧхын ҧхaрроуп, aӡынрa иaҩцaцәaм, мрaҭaшәaрaтә Қырҭтәылaҟны, Амшын еиқәa aгaҿы иҧхоу, aсубтропикaтә ҳaуa ыҟоуп.

Қырҭтәылa aтерриториa шыхәыҷугьы, aрaҟa зеиҧшыҟaм aфлорa ыҟоуп. Ари зегьы иҳәaaқәҵоуп aтәылa aдгьылхҩылaaрaтәи aҳaуaтәи лaгылaзaaрa aлa, убри aҟнытә aрaҟa aҵиaaқәa ҷыдaлaтәи рыхкқәa уҧыхьaшәоит. Мрaгылaрaтәи мрaҭaшәaрaтәи Қырҭтәылa aфлорa еиҧшым. Мрaгылaрaтә Қырҭтәылaҟны хбaрроуп, aрaҟa aҧсaрaқәa ыҟaм, убри aҟнытә aриaҵәaреи aҵиaaӡaреи иaҳa иaлкaaуп. Мрaҭaшәaрaтә Қырҭтәылa aбнaрaцәaрaлa иaлукaaрaтә ыҟоуп. Қырҭтәылa aфaунa Европеи, Ацентртә Азиеи Африкеи aфaунa aелементқәa aлоуп. Қырҭтәылaҟны шәкылa хшылa ичо aхкқәa ыҟоуп, иaрa убaс, 330 хкы aҧсaaтәқәеи, 48 хкы aрептилиaқәaеи 11 aмфибиaқәеи 160 aҧсыӡхкқәеи. Қырҭтәылa ҩ-континентк, Европеи Азиеи ирыҧнуп. Ақырҭуa цивилизaциa aҧҵaреи aшьaқәыргылaреи рзы aныррa рымaн мрaгылaрaтәи мрaҭaшәaрaтәи aкультурaқәa. Аҧстәқәa рдунеи aбеиaрa, aҳaуa ҧхa, ҽaҩрaaзышьҭуa aдгьыл, aҧсaбaрaтә ресурсқәa рырaцәaрa - aқырҭуa жәлaр aбри зегьы рхы иaрхәaны, aқыҭaнхaмҩa aрҿиaрa рылшеит.

Қәҭешь (189.7 нызқьҩык), Баҭым (122,2 нызқьҩык), Русҭау (117,9 нызқьҩык), Аҟәа (aнхaцәa aшәҟәы рҭaҩрa мҩыҧымсит), Жәыргьыҭ (72,2 нызқьҩык), Гәар (50,2 нызқьҩык), Ԥаҭ (47,3 нызқьҩык) Ҭелaу (20,2 нызқьҩык).

Аетникaтә aилaзaaрa: aқырҭцәa - 83,3 %, aзербaиџьaнцәa - б,5%, aшәaмaхьцәa - 5,7%, aурысцәa - 1,5%, aуaҧсaa - 0,9%, aбырзенцәa - 0,3%, aукрaинцәa - 0,2%, aҧсуaa - 0,1%, aуриaцәa - 0,1%, егьырҭ - 0,1%.

Қырҭтәылaҟны aқьырсиaнрa aлaрҵәaрa aиуит 4-тәи aшәышықәсa 30-тәи aшықәсқәa рзы. Ақырҭқәa рҟны aқьырсиaнрa aқaдaқь луaн Нино цқьa (Кaбaдокиaтәи). Уи лныҳәaрaқәеи лылҧхеи рылa aҳҧҳәыс Нaнa дылхәшәтәит, иaрa убaс, aҳ Мириaн деиқәлырхеит. Ашьaхәынҵa инaқәырҧшны, aҳ Мириaн шәaрaцaaрa дшыҟaз, иaaлырҟьaны илaшьцaрaхеит, aҳ Нино цқьa лыхьӡaлa дныҳәaн, иaрaзнaк илaшaрaхеит. Убри aaмышьҭaхь, aқьырсиaнрa aҳәынҭқaррaтә aдинуп ҳәa aлaҳәaрa ҟaрҵеит. Мцхеҭa зеиҧшыҟaмыз aныхaбaaш ду дыргылеит. Ақырҭуa ортодоқсaлтә aқьырсиaнтә (aиaшaхaҵaрaтә) џьaр ҷыдaлaтәи aформa aмоуп. Уи Нино цқьa лџьaр ҳәa aхьӡырҵеит, Нино aӡaхәa aмaхәқәеи, иҧaны иҟaз лыхцәи ирылхны aџьaр ҟaлҵеит. Лџьaр aлa Қырҭтәылa еиқәлырхеит. Ақьырсиaнрaнӡa Қырҭтәылaҟны aмцнцәaхaҵaрa aкәын иҟaз, aмцнцәaқәa ирымҵaныҳәон. Аҳ Вaхтaнг Горгaсaл aрхимaндрит иaҭәеишьеит aкaтaликос ихьӡ. Абaс aлa ишьaқәгылеит Ибериaтәи aуaхәaмa aвтокефaлиa. Ажәытә aжәaбжь инaқәырҧшны, Қырҭтәылaҟны aқьырсиaнрa aқaдaқь руaн aцҳaрaжәҳәaҩцәa: Андреи, Симон Андреи. Симон Кананити, Варфоломеи. Ақырҭуa aқьырсиaнтә уaхәaмa иaҧҵaхеит 4-тәи aшәышықәсa 30-тәи aшықәсқәa рзы. Убaсҟaн aуп aқьырсиaнрa aҳәынҭқaррaтә динны иaнaaрыцҳa. Қaрҭли рaҧхьaтәи aҷҟәaндaртә кaфедрa ишьaҭaкхеит aҳрa aҳҭнықaлaқь Мцхеҭaҟны, Қaрҭли aуaхәaмa aҧхьaгылaҩ aҷҟәaндaр хaдa ихьӡ ныҟәигон. М aшәышықәсaнӡa aқырҭуa aқьырсиaнтә уaхәaмa, aиерaрхиaлa, зны Констaнтинополь, нaс - Антиохиa aпaтриaрхиaқәa рхылaҧшрa aҵaҟa иҟaн.

XI aшәышықәсaзы Қырҭтәылaҟны ишьaҭaкхеит aдунеи зегьы aҟны aфбaтәи aпaтриaрхиa, aхa Дaуҭ IV Аргылaҩ ихaaн aқырҭуa уaхәaмa aҳәынҭқaррa aхылaҧшрa aҵaҟa иҟaлеит, aуaхәaмa иaхылaҧшуaн мҵигнобaртухуцеси - ҷҟондидели. Ақьырсиaнтә уaхәaмa aроль ду нaнaгӡеит Қырҭтәылaҟны aҩрa-aҧхьaрa aлaрҵәaрa aпроцесс aҟны, aуaхәaмa-aберҭыҧқәa рҟны aшколқәеи aкaдемиaқәеи ыҟaн (Гелaҭи, Иҟaлҭо), уaҟa aбер-мaҵуҩцәa aҵaрa aус иaзыҳaҵҳaҵуaн, урҭ ҳaгеогрaфиaтә литерaтурa зҵaк дуу aусумҭaқәa иaҧырҵеит.

Қырҭтәылa Урыстәылa aдҵaрa aaмышьҭaхь aқырҭуa aқьырсиaнтә уaхәaмa aвтокефaлиa иaҧырхын. Иaрa убaс иaҧырхит aкaтaликосҽпaтриaрх иҭыҧгьы. Ақырҭуa уaхәaмa aурыс синод aнaпaҵaҟa иҟaлеит. 1852-69 шықәсқәa рзы aуaхәaмaтә мaзaрa aхaзынa иaрҭaн, aдоуҳaныҟәгaҩцәa aулaфaху рзышьaқәдыргылеит. 1917 шықәсa хәaжәкырa 12 (25) рзы aдоуҳaныҟәгaҩцәa aвтокефaлиa еиҭaшьәaқәдыргылaн, цәыббрaзы aкaтaликосҽпaтриaрх дaлырхит. 1978 шықәсaзы Қырҭтәылa aкaтaликосҽпaтриaрхны дaлырхит Илиa aҩбaтәи. Уи иныҳәaрaлa Қырҭтәылaҟны иaкымкәa aуaхәaмaқәеи aныҳәaрҭaқәеи еиҭaшьaқәыргылaн, имaҷымкәa aҿыцқәaгьы дыргылеит. Хымҧaдa иaзгәaҭaтәуп Сaмебa aкaфедрaлтә уaхәaмa, уи aдунеи aҟны зегь реиҳa идуу aберҭыҧтә комплеқсқәa ируaкуп. Аҳaрaкырa 83 метрaк иaҟaроуп, уи aтерриториaҟны 12 уaхәaмaқәеи aныҳәaрҭaқәеи aусурa иaлaгоит.

Араионқәа:

Қьада, Қобулеҭ, Шьуахьау, Хьалуачаур, Хәыло, Жәыргьыҭ, Хәаб, Ҵаленџьыха, Чхәароҵҟәы, Санакь, Абашьа, Мартәыл, Местиа, Уажәыргьаҭ, Ланчхәыҭ, Чохатаур, Тҟибул, Ҵҟалтубо, Ҷиаҭура, Баҕдад, Ван, Зесҭаҧон, Ҭерџьола, Самтредиа, Сачхере, Харагаул, Хәан, Ахмета, Гәырџьаан, Дедоҧлис-Ҵҟаро, Ҭелау, Лагодехь, Сагареџьо, Сиҕнаҕь, Ҟәарел, Душьеҭ, Ҭианеҭ, Мцхеҭа, Ҟазбақь, Амбролаур, Уан, Цагер, Лентех, Адыгьан, Аспинӡа, Ахалқалақь, Ахалцых, Борџьом, Ниноҵминда, Болнис, Гардабан, Дманис, Марнеул, Ҭеҭри-Ҵҟаро, Ҵалка, Гәар, Касп, Қарел, Хашәыр.




#Article 9: Шьынқәба, Баграт Васили-иԥа (389 words)


Баграт  Васили /Басила/-иԥа Шьынқәба (, Ҷлоу ақыҭа, Очамчира араион — , Аҟәа) — Аԥсны жәлар апоет, ашәҟуҩҩы, аполитик, Д. Гәлиеи Шьоҭа Русҭавели рыхьӡ зхәы аҳәынҭқарратә премиақәа рлауриат. Иара зыхьӡ-зыԥша хара ианаӡахьоу поетуп. Иҩымҭақәа зегьы иаарылукааша  рҿиамҭоуп иҭоурыхтә роман “Ацынҵәарах”. Ари ароман  ианыԥшуеит аԥсуа жәлар рҭоурых аҿы зегьы раасҭа игәыҭшьаагоу ахҭыс - амҳаџьырра ашықәсқәа.

Диит 1917 шықәса лацара 12 рзы Ҷлоу ақыҭа Очамчира араион аҿы. 1926 шықәсазы дҭалоит Ҷлоутәи алагарҭатә школ, далгоит 1928 шықәсазы. 1930 дласуеит Џьгардатәи быжь шықәсатәи ашкол ахь. Абраҟа ҵарашықәск анынаигӡа, дцоит Аҟәаҟа, дҭалоит Аҟәатәи педагогтә техникум. Далгоит 1935 шықәсазы. Иара убасҟан 1935 рзы, даанахуоит Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт абызшәеи литературеи рыҟәша. Абраҟа иҵара анихыркуша, 1939 шықәсазы, Баграт Шьынқәба дҵоит Қарҭҟа, дрыдылкылоит Қырҭтәылатәи анаукақәа Ракадемиа иатәу Абызшәаҭҵаара аинститут аспирантураҿ. 1941 шықәсазы, аибашьра ианалага, аамҭала Аԥсныҟа дхынҳәеит , зны аус иуеит рҵаҩыс, нас агазет Аԥсны Ҟапшь аредакциаҿ Аԥсуа институтаҿы, Ашәҟуҩҩцәа Реидгылаҿы. 1943 шықәсазы ҩаԥхьа Қарҭҟа дхынҳәуеит, дызҭаз аспирантураҿ иҵара наигӡоит иагьхиркушоит 1944 шықәсазы. Афилологиатә наукақәа дыркандидатуп. Акьыԥхь аҿы дцәырҵуеит 1935 ш. инаркны. 1953-1958 шықәсқәа рзы Б. Шьынқәба Аԥснытәи Ашьҟуҩҩцәа Реидгыла напхгара азиуеит. 1958-1979 ш. рзы Аԥснытәи АССР Иреихаӡоу Асовет Апрезидиум дахантәаҩуп. 1967 Баграт Шьынқәба Аԥсны жәлар рпоет ҳәа аҳаҭыр хьӡы иаҭәаршьоит. 1959, 1978, 1984 шықәсқуа рзы СССР Иреиҳаӡоу Асовет ашҟа депутатс далырхуеит, 1989 шықәсазы - СССР жәлар рдепутатс. Баграт Шьынқәба дакадемикуп; ихҵоуп Кабарда-Балкариеи Адыгьеиаи жәлар рышәҟуҩҩы ҳәа ахьӡ. Ипоезиатә рҿиамҭакуа рзы/ иажәеинраалоу ироман Ахра ашәа/ иаҭәашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зхыу Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа. 1970 шықәса Баграт Шьынқәба далахун Мадиартәыла имҩаԥысыз Европатәи апоетцәа рфорум.

Лаҵарамза 18 рзы 2010 ш. Аҟәа, Амҳаџьыраа рыԥшаҳәаҟны иаартын Аԥсны жәлар рпоет Баграт Шьынқәба ибаҟа. Уи аартра иалахәын Аԥсны аиҳабыра, хаҭала апрезидент С.Багаԥшь, уи ихаҭыԥуаҩ А.Анқәаб. Абаҟа аартра иадҳәалаз амитинг мҩаԥигон Аԥсны акультура аминистр Н. Логәуа. Иқәгылеит ашәҟъыҩҩцъа реидгыла ахада Т.Ҷаниа, ассоциациа ахада М. Лашәриа, Жәлар реизара ахада Н. Ашәба. Ицәажәоз зегь иазгәарҭон Б.Шьынқәба ипоезиа инаҷыданы акыр зымҽхак ҭбаау уаажәларратә усзуҩны дшыҟаз.

Раԥхьатәи ашәақуа. Аҟуа, 1938 ш.

Аҳәачаԥа. Аҟәа, 1943 ш.

Аҿатә уаа. Иажәеинраалоу ароман. Альманах. Аҩбатәи аномер. 1951 ш./аҩбатәи аҭыжьра - 1955 шықәсазы, еиҳа ихарҭәаау авариант - 1963 шықәсазы./ 

Ажәеинраалақуеи апоемқуеи. Аҟәа, 1956 ш.

Иаирума. Амшә куашара. Аҟәа, 1961 ш.

Ахра ашәа. Аҟуа, 1965 ш.

Иҩымҭақуа реизга. Х-томкны. Аҟәа, 1977-1979 шш. 

Бараҭашвили Николоз. Ажәеинраалақуа. Апоема Аҟәа - Қарҭ, 1984 шықәса.

Шандор Петефи. Иалкаау. Иеиҭаргеит Баграт Шьынқәба М. Лашәриа. Аҟәа, 1995 ш.

Инаукатә усумҭақуа рахьтә.

Аԥсуа жәеинраала аиҿартәышьа иазкны.

Альманах №3. Аҟәа, 1952 ш.




#Article 10: Арӡынба, Владислав Григори-иԥа (657 words)


Владисла́в Григо́ри-иԥа́ А́рӡынба (; ; , Ешыра ақыҭа, Аԥснытәи АССР — , Москва, Урыстәыла) — Аԥсуа политик, Аԥсны аҳәынҭқарра раԥхьатәи ахада (1994-2005), Аԥсны Амилаҭтә Фырхаҵа, аҭоурыхҭҵааҩы, абызшәадырҩы, анаукаҭҵааҩы.

Владислав Григори-иԥа Арӡынба диит лаҵарамза 14 1945 шықәса Арӡынба Григори Қьаамын-иԥеи Иаӡычба Надежда Шьаабан-иԥҳаи рҭаацәараҿы. Анеҩсан быжьшықәса рышьҭахь дииуеит иашьеиҵыб Нодар.

Владислав иаб — далахәын Аџьынџьтәылатә еибашьра ду. Аибашьра ду аԥхьеи, уи ашьҭахьи аус иуан ашкол аҿы. Владислав иаб иман хҩык аишьцәа: аиҳабы ихьӡын Султан, агәыбжьанытә — Миша, реиҵыбӡа — Рауф. Иара убас акыршықәса ашкол аҿы аус лухьан иангьы. 

В. Арӡынба раԥхьаӡатәи ишьаҿақәа еихигеит Ешыратәи абжьаратә школ ашҟа. В. Арӡынба агәырҵҟәыл бзиа змаз аҵаҩцәа дреиуан. Уи бзиа ибон ажәеинраалақәа аисахьаркны раԥхьара.

В. Арӡынба ашколаҿ еиҿкааз акәашаратә гәыԥ далан. Ибзианы ицааиуан Кавказтәи акәашарақәа. Иара дызлаз агәыԥ изныкымкәа аолимпиадатә конкурсқәа рҿы аԥхьахәқәа ргахьан. 

В. Арӡынба ашкол аҿы аҵара аниҵоз зегь реиҳа игәаҿы иаанхеит аԥсуа бызшәеи алитературеи, аурыс бызшәеи алитературеи рырҵаҩцәа. Дара ирыбзоуран иидыруаз абызшәақәа.

В. Арӡынба ашкол даналга ашьҭахь 1962 шықәсазы дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Аҟәатәи апедагогиатә институт аҭоурыхтә факультет.

В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара инасыԥны аԥхьаӡон Аҟәатәи апедагогигатә институт аҭоурыхтә факультет дахьалгаз. Уи ашколтә ҵара алгара анааигәаха иаб иҭахын Қарҭтәи ауниверситет аекономикатә факультет дҭаларц. Аха уи игәамыԥхеит аҵара аҭалараан аԥышәарақәа рҭиуан урыс бызшәала, нас ақырҭуа бызшәахь иахьасуаз. Убри мацара иахырҟьаны иҷкәын уахь дцаны иҵара мап ацәикит.

В. Арӡынба иара убас инасыԥ дуны иԥхьаӡон дара ркурсаҿ алекциақәа иахьрыԥхьоуз зегь иреиҳаз аҵарауаа. Урҭ иреиуан: Аԥсны археолог Михаил Мамеҭ-иԥа Траԥшь, аҭоурых ҭҵааҩы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа, аԥсуа етнограф аҵарауаҩ ду Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа.

В. Арӡынба иҵара даналга ашьҭахь дҭалоит аспирантура мрагыларатәи Академиа. Ари аҵараиурҭаҿ аус иуан 1969 инаркны 1988. В. Арӡынба хықәкыла иҭиҵааун имаҷу Азиа иадҳәалоу аҭоурыхи, акультуреи, урҭ ажәларқәа ирыдҳәалоу арелигиатә нцәахаҵарақәуеи, еиҳарак хаттааи хеттааи ирыдҳәалаз.

Аԥсны раԥхьатәи аԥыза Москва аус иуанаҵы иԥсадгьыл хылаԥшрада инижьуамызт, уи иара дшадҳәалаз дадҳәалан. Аԥсныҟа данаалак акабинет дыҩнатәаны мацара акәымкәа, Аԥсны аҵарауааи иусуцәеи дрыҿцәажәон, уи еиликаауан урҭ ирыгыз ирыбзаз. 

Иусқәа инарымаданы ирацәаны имҩаԥигон археологиатә ҭҵааратә експедициақәа Аԥсны атерриториаҿы. Аԥсны усҟантәи аамҭаз хадара шазиимуазгьы ижәлар ирацәаны дрыцхраауан. Дрыцхраауан аԥсуа ҵарауаа рыстатиақәеи ржурналқәеи акьыԥхь рарбараҿы. Акы рдицхрааит аԥсуа ҵарауаҩ Ш. Д. Инал-иԥа иҭыҵыз ишәҟәы «Вопросы этнокультурной истории абхазов» ҳәа хыс измаз иахҟьаны иӷәӷәаз авба ахьирҭаз аҟнытә. Иара убас иџьабаа дуқәа ируакуп Аԥсны ахәынҭқарра даныпрезидентха ижәлар рыԥсҭазаараҿ ихадара дуны иҟалеит Аԥсны анаука Академиа аԥҵара.

Уи иџьабаа кыр ишарацәазгьы ижәлар рҿаԥхьа, имаҷым иџьабаа аҭҵааратә усурақәа рыҿгьы.

Иҭҵааратә усурақәеи имонографиақәеи иреиоуп: 

Ашәҟәқәа

Астатиақәа

В. Арӡынба иҭҵааратә усумҭақәа зегьы инхоит хьтәы рахәыцны аԥсуаа рыԥсҭазаараҿы.

В. Арӡынба 1989 ш. инаркны 1991 ш. дыҟан СССР жәлар депутатны, иара убас СССР Иреиҳаӡоу Амилаҭтә хеилак алахәылас. Уаҟа диабдруеит академик А. Сахоров. Уи иабадырра В. Арӡынба иԥсҭазаараҿ даара анырра ду ҟанаҵеит. 

Актәи иқәгылараҿ жәлар депутатцәа рысездаҿ В. Арӡынба иқәиргылеит азҵаара имаҿу амилаҭқәа реиқәырхара ититултәу амилаҭқәа СССР иалоу 15 ҳәынҭқарра рҿаԥхьа. Уи ицәажәараҿ ирылеиҳәоит рыбжьара иҟаз аиқәшаҳаҭра иахәаԥшны автономтә республикақәа аҳәынҭқарра дуқәа ирылҵны рхала иҟаларац азы. Иара убас уи иҿцәажәараҿ иааган ҿырԥштәыс Аԥсны ССР Қырҭтәыла ССР 1921-1936 ш.ш. ирибжьаз аиқәшаҳаҭра.

СССР аилаҳамҭаз В. Арӡынба дықәгыланы ирылаиҳәоит зхы иақәиҭу ҳәынҭқарран иҟаларц азы, иара убас уи иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿақәа Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аиҟарара рымазарц.

В. Арӡынба 1992-1993 шықәсқәа рзы дҟаҵан Аҳәынҭқарра акомитет амилаҭ - хақәиҭтәра азықәԥара ахантәаҩыс. Ақырҭуеи-аԥсуеи реибашьра алагамҭаз В. Арӡынба ижәлар рахь иҟаиҵоит ааԥхьара: «Мы должны выстоять в этот трудный час, и мы выстоим, мы нанесем поражение тем, кто сеет смерть и разрушение в Абхазии».

Арҭ иажәақәа рнаҩс В. Арӡынба ижәлар ириҭоит адҵа инаскьарц аӡиас Гәмысҭа аладахьы ақалақь Аҟәа ааха ӷәӷәа амоурц азы. Аха усҟантәи аамҭаз Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара иҟаз аиҿцәажәара лыҵшәадахеит, ақалақь иаиоуит ааха ӷәӷәа.

Аибашьра анеилга ашьҭахь В. Арӡынба ишьаҿақәа еихигоит Урыстәылеи Аԥсни реизааигәахара, иара убас урҭ аиқәшаҳаҭра рыбжьаларц Урыстәыла ар аганахь ала.

Урыстәыла Афедерациа ашәарҭара амаӡаныҟәагаҩ ихаҭыԥуаҩ Борис Березовски изныкымкәа иҽазышәахьан иазаагара, аха зегьы лыҵшәадахеит. Иара хаҭала, мамзаргьы усҟантәи аамҭаз имаз хантәаҩс Анри Џьергьениеи иареи иалахәын ақырҭуеи-аԥсвеи реидыслара аҭышәантәалара иазкыз аиҿцәажәарақәа ООН абжьа ҟазареи Урыстәылеи рыбжьара.

Аха иоуз ачымазара иахҟьаны, уи дзазымиааикәа иԥсҭазаара далҵуеит 2010 ш. хәажәкырамза 4 рзы. Уи даара итрагедиа духеит аԥсуа жәлар рзы. Уи анышә дамадоуп дахьиз дахьааӡаз Ешыра ақыҭа, иԥсадгьыл аҵеицәа рааигәара.




#Article 11: Ауаҩытәыҩса Изинқәа Зегьеицырзеиҧшу Адекларациа (1322 words)


Алагалажәа

Дызусҭзаалак, ауаатәыҩсатә ҭаацәара иалахәу иҳаҭыри, иара иузиҟәымҭхо имоу изинқәеи, ахақәиҭреи, аиашареи, 
адунеижәларбжьаратәи аҭынчреи шьаҭас ишрымоу хшыҩзышьҭра азуа,

иара убас ауаҩы изинқәа ратәамбареи хырҩаа рымҭареи, ламыс змоу дарбанзаалак изымычҳаша агыгшәыгратә хымҩаҧгашьа аҟынза ауаҩы дышнанагахьо еилкааны, насгьы ауаҩы иажәеи идунеихәаҧшышьеи дрықәиҭны, ашәареи амамзаареи 
дыдмыргәаҟуа – адунеи иахьабалак абри аҩыза аҧсҭазаара аҧҵара ауаҩы зегь иреиҳау игәыҕрақәа ишыруакыу хшыҩзышьҭра азуа, иара убас, ауаҩы аџьамыҕәеи ахәуреи иаартны дырҿамгылар ада царҭа имамкәа аҟынза инамгараз, ауаҩы изинқәа 
азакуан амчра иамыхьчар ада ҧсыхәа шыҟам хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас ажәларқәа реиҩызара аизҳазыҕьара ацхыраара шаҭахыу хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу ажәларқәа ауаҩ ихадароу изинқәеи, ипатуи, ауаҩ ихаҭара аҳаракыреи, хаҵеи ҧҳәыси зинла реиҟарареи – абарҭ зегь рахь ирымоу агәрагара рыҧҟаҧҵа аҟны ишьақәрҕәҕәаны ауаажәларратә ҿиареи ауаҩ еиҳа ахақәиҭра иманы иҧсҭазаара аиҕьтәреи иацхраарц шырызбаз хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас еилахәу аҳәынҭқаррақәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи рус еицурала, зегь еицырзеиҧшу аҳаҭыреиқәҵареи 
ауаҩытәыҩса изинқәеи ихадароу ихақәиҭрақәеи рымҩаҧгара иацхраарц ахьырызбаз хшыҩзышьҭра азуа,

Иара убас арҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи еицеиҧшны зегь рзы аилкаареи, рхы иадырҵаз абри аус анагзареи аҵак ду шрымоу 
хшыҩзышьҭра азуа

Ассамблеиа Хада 

Ирыланаҳәоит ауаҩытәыҩса изинқәа Зегьеицырзеиҧшу Адекларациа, ажәларқәеи аҳәынҭқаррақәеи зегьы зынагзара рҽазыршәо хықәкык аҳасабала иахәаҧшны, дарбанзаалак ауаҩи, аилазаара иарбан хуҭазаалакгьы абри Адекларациа рхы иархәаны, аҵарадырра аларҵәара амҩала абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи ҳаҭыр рықәҵара иацхраауа, еиуеиҧшым амилаҭтәи, жәларбжьаратәи апрогрессивтә усхкқәа рынагзарала, иахьабалк, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа рыҟнеиҧш, урҭ рнапаҵаҟа иҟоу атәылақәа ирықәнхо ажәларқәагьы еицырзеиҧшны ирыдыркыларц, иагьынарыгзаларц азы. 

Ахәҭаҷ 1

Дарбанзаалак ауаҩы дшоуп ихы дақәиҭны. Ауаа зегь зинлеи патулеи еиҟароуп. Урҭ ирымоуп ахшыҩи аламыси, дара дарагь аешьеи аешьеи реиҧш еизыҟазароуп. 
Ахуҭаҷ 2

Дарбанзаалак ауаҩы абри Адекларациа ирыланаҳәо азинқәеи ахақәиҭрақәеи зегь имазароуп, милаҭлеи, хаҵалеи ҧҳәыслеи, 
бызшәалеи, хылҵшьҭралеи, динлеи, маллеи, маҵуралеи, нхарҭа ҭыҧлеи дунеихәаҧшышьалеи, цәаҧшшәахәылеи 
дызҵазкуазаалак. 
Иара убас дахьықәнхо атәыла аполитикатә, азинтә, ма Адунеижәларбжьаратәи астатус зеиҧшразаалак, уи атәыла 
хьыҧшымзаргь, 
ма ахатә напхгара амамкуа азәыр инапаҵаҟа иҟазагь, мамзаргьы даҽакала ахақәиҭра наза амамзаргьы.
Ахәҭаҷ 3

Дарбанзаалак ауаҩы аҧсҭазаареи, ахақәиҭреи, хаҭала азә диламкьысуа аҟазаареи рзин имоуп.
Ахәҭаҷ 4

Дарбанзаалак ауаҩы атәра дҭаргыламзароуп, ма акгьы дақәиҭымкәа ҽазә инапаҵаҟа дыҟамзароуп; атәреи атәыҭииреи зеиуахк рылазаалагьы рзин ыҟам.
Ахәҭаҷ 5

Дарбанзаалак ауаҩы ирҳәацәарара, иргәаҟра, иаҳаҭыр аларҟәра, иакәым иақәыршәара залшом.
Ахәҭаҷ 6

Дарбанзаалак ауаҩы, тәылас дахьыҟазаалакгьы азин имоуп иара изинхаҭара азхарҵаларц.
Ахәҭаҷ 7

Азакәан аҿаҧхьа ауаа зегь еиҟароуп, насгьы еилых ҟамҵакәа азин рымоуп азакәан еиҟараны иахьчаларц. Дарбанзалак ауаҩы изинқәа реилагара, ма игәы иаҭахымкәа зинеилагарак иалархәра азакәан иалнамыршозароуп.
Ахәҭаҷ 8
Дарбанзаалак ауаҩы аконституциа ма азакәан ирҭаз ихадароу изинқәа анааилагаха азин имоуп иашьашәалоу амчхара змоу амилаҭтә усзбарҭала изинқәа реиҭашьақәыргылара.
Ахәҭаҷ 9

Дарбанзаалак ауаҩы хаҳәатәыла ирбаандаҩтәра, иаанкылара, мамзаргьы иқәцара ҟалом.
Ахәҭаҷ 10
Дарбанзаалак ауаҩы, иара изинқәеи уалс идуи еилкаахарцаз, насгьы иара идырҵоз ашьауҕатә аара ҵаҵҕәыс иамоу 
ашьақәыргылараз азин имоуп зегьы рзы иҟоу аиҟарара ихы иархәаны иус аартны, иашала, ихьыҧшым аусзбара иазбартә аҟаҵара.
Ахәҭаҷ 11

Дарбанзаалак, ацәгьара ҟаиҵеит ҳәа ахара здырҵаз ауаҩы, азин имоуп аара змам ҳәа дыҧхьазазарц, иду аара азакәанмҩа
инақәыршәаны, иаарту усзбарала еилырганы ишьақәыргылахаанза. Аара здырҵо изаҧҵахароуп закәанла ихы ихьчартә еиҧш аҭагылазаашьақәа.

Дарбанзаалак ауаҩы заа иҟаиҵахьаз ирахәым уск ма иуалҧшьа ахьынеимыгзаз азы аус даҭаны иқәзбара ҟалом, аара 
зхаидырҵо аус инапы аналакыз амилаҭтә закәан ма адунеижәларбжьаратәи азин ас еиҧш иҟоу аус цәгьоураны иамҧхьазозҭгьы. 
Насгьы еиҳа еицәоу хьырхура дузақәыршәом, ацәгьара аниуаз аамҭаз хьырхушьас иҟаз аамҷыдрахаз. 
Ахәҭаҷ 12

Дарбанзаалак ауаҩы ихатәи иҭаацәаратә ҧсҭазаареи хаҳәатәыла, азакәан иаҵанамкуа аҧырхагахара азәгьы азин имам, иара убасгьы инхарҭа ҭыҧи, шәҟәыла-быҕьшәыла имоу аимадарақәа рымазеи, ихьз-иҧшеи иаҳаҭыри кьыс рықәым. Дызусҭзаалак абас еиҧш ианиҧырхагаха ма ианилакьыс аамҭаз азакәан дахьчароуп.
Ахәҭаҷ 13

Дарбанзаалак ауаҩы ҳәынҭқаррас дахьыҟазаалакгьы дахцо-дахьаауеи, иахьааиҭаххалак иҭыз-ҭыҧ алхреи дрықәиҭуп.

Дарбанзаалак ауаҩы иарбан тәылазаалакгьы, иара итәылагь убрахь иналаҵан далҵны ацареи иҧсадгьылахь ахынҳәреи рзин имоуп.
Ахәҭаҷ 14

Дарбанзаалак ауаҩы иара итәылаҿ дыкҿацалан дрымазар, азин имоуп даҽа тәым тәылак аҿы ахыҵәахырҭа аҧшаара.

Ари азин хархәара амоуроуп, аполитикатә ҵакы змоу ацәгьоура акәымкәа ус даҽа цәгьоурак иуызар, мамзаргьы Еиду 
Амилаҭқәа Реиҿкара ахықәкәеи апринципқәеи ирҿагыло уск иадҳәалазар.
Ахәҭаҷ 15
Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп атәылауаҩ ҳәа ахьз аиура.

Дарбанзаалак ауаҩы хаҳәатәыла итәылауаҩра ма итәылауаҩра аҧсахразы имоу азин иалхәдаара ҟалом. 
Ахәҭаҷ 16
Зықәра назоу арҧарацәеи аҳәса хәҷқәеи цәаҧшшәахәыла, милаҭла ма динхаҵарала ҳәа ҧкра ҟамҵакуа аҭаацәара алалара 
азин рымоуп.Урҭ аҭаацәара ианалало аамҭазгьы, ҭаацәаракны ианеицынхогьы, мамзаргьы еилыҵуазар азәи азәи зинла еиҟароуп.

Аҭаацәара алаларазы ашәҟәҭагалара ҟалоит аҭаацәара иалало рҩыџьагьы ирҭахны, еиқәшаҳаҭны еибагозар.

Аҭаацәара ҧсабаратәла ауажәларратә еилазаара гәцәс иамоуп, убри аҟынтә аилазаарагь аҳәынҭқаррагь аҭаацәара 
рыхьчозароуп.
Ахәҭаҷ 17

Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп амазара ихала ма ҽаџьоукы дрылахәны ҧшәымара азиуа дыҟазарц.

Азәымзар азәгьы хаҳәатәыла имазара имхра ҟалом.
 Ахәҭаҷ 18

Дарбанзаалак ауаҩы ихәыцреи, иламыси, идинхаҵареи дрықәиҭны аҟазаара азин имоуп; ари азинахь иаҵанакуеит ауаҩы 
идинхаҵареи идунеихәаҧшышьеи рыҧсахра ақәиҭра ахьилшо, азин имоуп иара убасгьы идини идунеихәаҧшышьеи рымаҵ иулар ихала, ма егьырҭ ауаа дрылахәны, иаартны, мамзаргьы хаз ҷыдала, еиуеиҧшым анцәахаҵара иацу аритуалтә ҵасқәеи 
аусхкқәеи рынагзара.
Ахәҭаҷ 19

Дарбанзаалак ауаҩы иара идунеихәаҧшышьа дақәиҭуп, насгьы ишиҭахыу уи аарҧшра азин имоуп; ари азин иаҵанакуа - досу иара идунеихәаҧшышьа ҧымкрыда дықәныҟәалар илшоит, иара убасгьы дарбанзаалак аҳәынҭқарратә ҳәаақәа днырымкыло, ишааиҭаххалак, еиуеиҧшым адыррақәеи аидеақәеи рыҧшаареи, риуреи, иара излаиманшәалоу амҩақәа рыла ауаа 
рыларҵәареи илшоит ҳәа ауп.
Ахәҭаҷ 20

Дарбанзаалак ауаҩы аҭынчратә еизарақәеи ахеидкылақәеи ахрылархәра азин имоуп.

Азәымзар азәгьы мчыла џьара хеидкылак иалаҵара ҟалом.
Ахәҭаҷ 21

Дарбанзаалак ауаҩы иҳәынҭқарра напхгара аҭара ихы алаирхәыр илшоит хаҭала, мамзаргьы зхы иақәиҭу алхрала иалхыу 
ахаҭарнакцәа рыла.

Дарбанзаалак ауаҩы егьырҭ зегь реиҧш азин имоуп иҳәынҭқарраҿ амаҵураҭыҧ аанкылара.

Ажәлар ргәаҳәара акәхароуп аиҳабыра рымчра шьаҭас иаиуа4 урҭ ргәаҳәара зныҧшуа аамҭа-аамҭала, насгьы еилагарада 
имҩаҧгоу алхрақәа роуп. Алхрақәа мҩаҧысуазароуп зегьы еицырзеиҧшу, еиҟароу алхратә зинтә шьаҭа инақәыршәаны, маза бжьыҭирала мамзаргьы ауаҩы ихы дақәиҭны ибжьы аҭира илзыршо даҽа мҩақәак азыҧшааны.
Ахәҭаҷ 22
Дарбанзаалак ауаажәларратә еилазаара иалахәу ауаҩы ауаажәларратә маншәалара имазарц азы, иара убас иаҳаҭыр
аламырҟәреи, ихаҭара ҿиара аиуларци рзы ихы иаирхәарц илшоит аекономикеи ауаажәларреи акульутреи рганахь ала имоу азинқәа, амилаҭтә ҽазышәарақәеи адунеижәларбжьаратәи аицхыраарақәеи рыбзоурала иарбан ҳәынҭқарразаалак 
ашьақәгылашьеи абеиарақәа иамои зеиҧшроу инақәыршәаны.
Ахәҭаҷ 23

Дрбанзаалак ауаҩы имоуп аџьеи иара ииҭахыу аусхк алхреи рзин, насгьы изаҧҵазароуп иусураз иахәҭоу аҭагылазаашьа
бзиақәа, усурада даанымхарцаз дзыхьчаша азингьы имазароуп.

Дарбанзаалак ауаҩы, изинқәа рҟны ҧкрак ҳәа ҟамҵакуа иџьабаа иашьашәалоу аџьаҧса аиура азин имоуп.

Дарбанзаалак аус зуа ауаҩы иара ихәҭоу, насгьы изхаша, ихи иҭаацәареи қәнагала изланыҟәигаша иџьабааҧса аиура азин
имоуп, зны-зынлагь ҧсыхәа анимам аамҭазы асоциалтә цхыраара иоулароуп.

Дарбанзаалак ауаҩы азаанаҭтә еидгылақәа раҧҵареи, иара интересқәа рыхьчараз азаанаҭтә еидгылақәа ралахәхареи азин 
имоуп.
Ахәҭаҷ 24

Дарбанзаалк аҧсшьареи, иҧсшьара аамҭа иара ишиҭахыу аиҿкаареи рзин имоуп, иусура мшы аркьаҿреи ауалафахәы 
зхыршәаауа изаамҭанытәиу аҧсшьара мшқәа риуреи азин абрахь иналаҵаны.
Ахәҭаҷ 25

Дарбанзаалак ауаҩы, ифатә-ижәтә, ишәҵатәы, иҩны-игәара, амедицинатә хылаҧшреи асоциалтә маншәалареи уҳәа зда 
ҧсыхәа имам зегьы рганахь ала убри еиҧш аҧсҭазаара азин имазароуп иара ихгьы иҭаацәарагь ргәабзиареи рыбзазареи 
ирыгмыжькуа иныҟәигаларц азы, иара убасгьы усурада данаанха, ма данычмазҩха, ма ааха ҕәҕәа аниоу, данеибаха ма 
данажә 
аамҭазы, мамзаргьы иара ихарамкуа ихы изныҟәымго даныҟала имазароуп ахныҟәгараз ацхыраара азин.
Анацәеи ахәыҷқәеи иҷыдоу ахылаҧшреи ацхыраареи рзин рымоуп. Дарбан хәыҷызаалакгьы, аҭаацәараҿы диизаргьы, 
днашҧазаргьы социалла дыхьчазароуп.
Ахәҭаҷ 26

Дарбанзаалак ауаҩы аҵара азин имоуп. Аҵара аиура, алагамҭатәи абжьаратәи ирыдамхаргьы, хәыда-ҧсада иҟазароуп. 
Алагамҭатә ҵара зда ҧсыхәа ыҟам акакәзароуп. Атехникатә, ма апрофессионалтә ҵара изҭаххалак зегьы ироуртә 
аҭагылазаашьа 
ыҟазароуп. Иреиҳау аҵарагьы, досу илшара зеиҧшроу ала, иқәманшәалахо зеиҧшроу еиҧш изҭаххалак зегьы аиура азин 
рымазароуп.

Аҵара ауаҩы ихаҭара иназаны аҿиара иацхраауазароуп, иара убасгьы ауаҩы изинқәеи ихадароу ихақәиҭрақәеи рышҟа иҟоу аҳаҭырқәҵара шьҭнахуазароуп. Аҵара адунеи ажәларқәа зегь рыбжьареи, цәаҧшшәахәылеи, хылҵшьҭралеи динхаҵаралеи еихшоу ауаа ргәҧқәа рыбжьареи аилибакаареи, анеибачҳареи, аиҩызареи ирыцхраауазароуп, насгьы Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра арҕәҕәаразы имҩаҧнаго аусура иацхраауазароуп.

Аҭаацәа рхәыҷқәа рықәра маҷнаҵ азин рымоуп рхәыҷқәа рзы еиҕьуп ҳәа ҵара хкыс ирыҧхьазо алхра.
Ахәҭаҷ 27

Дарбанзаалак ауаҩы азин имоуп акультуратә ҧсҭазаара иара ишиҭахыу алахәхара, аҟазара гәахәара инаҭо аҟаҵара, 
аҵарадырратә прогресс аҽалархәра, насгьы уи уаҩы инаҭо абеиарақәа рхархәара.

Дарбанзаалак анаукатә, алитературатә, ма асахьаркыратә усумҭақәа аҧызҵаз иусумҭақәа рганахь ала имоу ауаҩышәаратәи аматериалтәи интересқәа рыхьчара азин имоуп .
Ахәҭаҷ 28

Дарбанзаалак ауаҩы абри Адекларациаҿ зызбахә ҳәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи инагзаны аҧсҭазаараҿы аларҵәара алзыршаша ауаажәларратәи адунеижәларбжьаратәи еиҿкаашьақәа рзин имоуп.
Ахәҭаҷ 29

Дарбанзаалак ауаҩы аилазаара аҿаҧхьа идуп еиуеиҧшым ауалқәа. Убри аилазаара аҩныҵҟоуп иара ихаҭарагьы инагзаны ҧымкрыда иахьҿиауа.

Абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи рынагзараан ауаҩы дҧызкуа ҳәа акгьы ыҟамзароуп, егьырҭ ауаа рзинқәеи рхақәиҭрақәеи 
иахәҭоу аҳаҭырқәҵара роурц азы, насгьы ауаҩышәара дҵак аҳасабала хра зланы иқәнаргыло азҵаатәқәа рынагаразы, 
адемократиатә еилазаараҿ ауаажәларратә еиҿкаара ашьақәыргылареи азеиҧш мышхәабзазареи рзы азакәан ишьақәнаргыло ҧкрақәак рыда.

Абарҭ азинқәеи ахақәиҭрақәеи рынагзара Еидҵоу Амилаҭқәа Реиҿкаара ахықәкқәеи апринципқәеи ирҿамгылозароуп.
Ахәҭаҷ 30

Абри Адекларациаҿ иану иарбан хәҭаҷзаалакгьы хаз игоу ҳәынҭқаррак, ма гәҧҩык ауаа, мамзаргьы хаҭала азәы абраҟа 
зызбахә ҳәоу азинқәеи ахақәиҭрақәеи раҧыхраз аусқәа рымҩаҧгара азин инаҭоушәа аилкаара иашам.




#Article 12: Пицунда (129 words)


Пицу́нда, Биҷвинҭа (, ) — Аԥсны ақалақь.

Пицунда аҳәаақәа: аҩада — лӡаа, амрагыларахь — Аџьра, Рҩаԥшь, алада — амшын, амраҭашәарахь — Бзыԥ аӡиас.

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс Пицунда амшын аԥшаҳәа Амзара ҳәа иашьҭан, аха Пицундагьы иахьатәи Лӡаа ақытагьы инеидкыланы Лӡаа хәа акәын ишырдируаз, Пицунда азы «Лӡааных» зҳәозгьы ыҟан. Ари аҭыԥ раԥхьаӡа аҟәны, ҳера аанӡа аҩбатәи ашәышықәсазы Артемидор Ефескии «Питиус» ахьӡуп ҳәа дахцәажәоит, Питиус даара ибеио қалақьуп иҳәоит Плании, Страбон — «Питиунт ду» ҳәа иҩеит. Питиунт III ашәышықәса инаркны ақьырсианра ашьаҭа тыԥқәа ируакхеит, 325 шықәсазы Пицундатәи аепископ Стратофил далахәын Никеиа ақалақь аҿы имҩаԥысыз ақьырсианра ашьапы иқәзыргылаз аизара ду. Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Питиус аҭыԥан ҩырақәак рҿы «Сатириуполь» ҳәа иуԥылоит иахьатәи ахьӡ «Пицунда» иазаагоу авариантқәа цәырҵуеит XV ашәышықәса инаркны — Пезонда, Пецунда, Бижунта, Бесонта, Бичвинта. иаҳа инарҭбаау Пицунда аҭоурых уахәаԥш.

Пицунда иаҵанакуа аҭыԥқәа:




#Article 13: Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (396 words)


Аԥсны Аҳәынҭқарра абанктә система ихьыԥшымкәа ахала аҿиара иалагеит Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет жәабран 28 1991 ш. “Аԥснытәи АССР Ацентртә банк азы”, “Аԥснытәи АССР аҟны абанкқәеи абанктә усуреи рзы” ҳәа азакәанқәа анрыдыркыла инаркны, уи еиҿкаан СССР Аҳәынҭбанк Аԥснытәи ареспубликатә усбарҭа ашьаҭала. Арҭ азакәанқәа, Аԥсны аекономика аҿиара аинтересқәа ҳасабс иҟаҵаны, раԥхьаӡа акәны абанктә усҳәарҭақәа рҭахрақәа рышьақәыргыларазы алшара ҟарҵеит.

Абарҭ Азакәанқәа анрыдыркылоз аамҭазы, даҽакала иаҳҳәозар, 1991 шықәса алагамҭазы Аԥсны абанктә система СССР абанкқәа: Аҳәынҭбанк, Аҵәахырҭаҭә банк, Ааглыхргылбанк, Аграртә банк, Анхарҭа-социалтә банк Аԥснытәи ареспубликатә усбарҭақәа рыла ишьақәгылан. Акоммерциатә банкқәа раԥҵара ишақәиҭызгьы, ари апроцесс СССР азакәанԥҵарала аҭыԥ иқәырҵон. Излаҟаҵәҟьаз ала, ари абанктә система анапхгараҭара хагәҵәылатәи асхьема ала ишьақәыргылан, уи, ҳәарас иаҭахузеи, аекономика аҿиара арегионалтә интересқәа разԥхьагәаҭара алшомызт.

Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет жәабран мза 1991 шықәсазы иаднакылаз Азакәанқәа алшара ҟарҵеит арегионтә ҩаӡараҿы абанктә система аиҿкаара, ахәҭакахьала, акоммерциатә банкқәа рыкаҭақәа, урҭ аекономика хазы игоу аусхкқәа рырҿиара интересс измаз аиуристтәи хазхаҭалатәи ахаҿқәеи еиҿыркаар рылшон, иара убас, иааизакны арегионқәа рҟынгьы. Аԥсны аибашьратә хҭысқәа рылагамҭазы (нанҳәа 14, 1992 ш.) абанктә система хкырацәала еилан.

Аха, Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны  излагаз аибашьра, атәылаҿ ишьақәгылахьаз аекономикатә лшарамч хнарбгалеит, ишьақәгылахьаз абанктә система аилаҳарахь икылнагеит.

Аԥсны аҵакырадгьыл аҟны аибашьра анеилга ашьҭахь, уаанӡа аус зуаз абанкқәа рахьынтә еиқәхаз Ацентртә банки, арегионқәа рыҟны иҟаз абанкқәа ԥшьба заҵәыки роуп, урҭ рахьтә - Гагра араион аҟны – акы, Гәдоуҭа араион аҟны – ҩба, Тҟәарчал ақалақь аҟны – акы. Егьырҭ абанкқәа зегьы аԥыхын, ма иқәган.

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада жәабран 11, 1995 шықәсазтәи Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра абанк Хада ашьаҭала иаԥҵан Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк.

Убри ашықәс азы Амилаҭтә банк аҟны еиҿкаан Аҳасабкра-кассатә центр, уи иалнаршеит абанкбжьаратә ҳасабкрақәа рҭыԥ рықәҵарала жәлар рынхамҩаҿы аԥаратә малқәа реикәыршара арццакра, иара убас абанктә системала аԥарақәа рныҟәара ахылаԥшра азура.

Ажьырныҳәа 1, 1999 шықәсазы “Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк азы (Аԥсны Абанк)”, “Абанкқәеи абанктә усуреи рзы” ҳәа иалагалаз абанктә усуразы азакәан ҿыцқәа еиҳа конкретла иҳәаақәырҵеит абанктә система ҩ-ҩаӡарактәи асистемала аиҿкаара: Аԥсны Амилаҭтә банк – хыхьтәи аҩаӡараҿы, акоммерциатә банкқәа – аҩбатәи аҩаӡараҿы рыҟазаара, иара убас абанктә система аусӡбатәқәеи афункциақәеи, Амилаҭтә банк акоммерциатә банкқәа ирзышьақәнаргылаз, русура арегламент азыҟазҵо аекономикатә нормативқәеи егьырҭ аҟаҵарбақәеи рықәымныҟәаразы акоммерциатә банкқәа рҭакԥхықәра азԥхьагәарҭеит.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы иахьатәи аамҭазы абанктә система иалахәуп: Аԥсны Аҳәынҭқарра Амилаҭтә банк (Аԥсны Абанк), акоммерциатә банкқәа 14 (АА АКБ “Аҵәахырҭатә банккгьы” убрахь иналаҵаны). Акоммерциатә банкқәа рыҟнытә иара убас аус руеит афилиалқәа ааба, урҭ рхыԥхьаӡараҿы – АА АКБ “Аҵәахырҭатә банк” аҟнытә быжьба. Хықәкыла иаҳҳәозар, Аԥсны раионцыԥхьаӡа акоммерциатә банк ыҟоуп, иара убас “АА АКБ “Аҵәахырҭатә банк” аҟнытә афилиал, Аҟәа ақалақь аҟны акоммерциатә банкқәа быжьба ыҟоуп.




#Article 14: Гәлиа, Дырмит Иосиф-иԥа (1084 words)


Дырмит Иосиф (Урыс)-иԥа Гәлиа (, Уарча ақыҭа — , Агәыӡера ақыҭа, Аԥснытәи АССР) — Аԥсны Жәлар ашәҟәҩҩы, аԥсуа ҩыратә литература ашьаҭаркҩы.

Дырмит Иосиф-иԥа Гәлиа диит хәажәкырамза 21, 1874 шықәса рзы Уарча ақыҭан анхаҩ ӷар иҭаацәараҟны. Дшыхәҷыз иҭаацәеи иареи мҳаџьырра Ҭырқәтәылаҟа иахыган, аха уи иаб илшеит иҭаацәа рыԥсадгьылахь рыргьежьра.

Ԥшьышықәса ракәын дызҭагылаз, 1877 шықәсазы, аурысцәеи аҭырқәцәеи реибашьраан, иҭаацәеи иареи хырҵәаны, имҳаџьырцәаны, Ҭырқәтәыла, Трабзан агаҿа ианнанагаз.

Иаб Урыс уахьынтә иҭаацәа иманы, дыбналаны, 1878 шықәсазы идгьыл гәакьахь ааӡабла дхынҳәит. Ихырҵәаны ианыргоз иццышәыртәыз иҭыз-ҭыц данахыла, «иҩнарҭа адгьыл аҿы анхара данақәиҭырымтә, уи аҭыԥ иамариашан, нырцә, ҿыц ихәшҭаара ашьапы икит».

Нырцә ҳәа Д. Гәлиа араҟа дызеу Кәыдры армарахьтәи аԥшаҳәа, Аӡҩыбжьа ақыҭа ауп, амҳаџьырра иагаанза Дырмит иаб Урыс Кәыдры арӷьарахьтәи аԥшаҳәаҟны — Уарча — дынхон.

Аҩреи аԥхьареи иҵеит аа-шықәса, жә-шықәса данырҭагылаз, ақыҭаҿтәи апап иҟны: Гач хәыҷы уи ишҟа мчыбжьык ахь ҩымш-хымш дныҟәон. Убри инаркны Урыс Гәлиа иҷкәын хәыҷ дима, ҩышықәса Аҟәа Ашьхарыуаа рышҟол ахь дцо-даауа дыбжьан, ашкол ашә дыла-гылан, иҷкәын убраҟа аҵаразы дрыдыркыларц.

Аҵыхәтәан, иаб иааԥсара, иҽазҵәылхра ирыбзоураны, ахԥатәи ашықәс аан, 1885 шықәсазы, Д. Гәлиа Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышҟол-апансионат /аинтернат/ даанахәоит. Уи зеиӷьыҟам ала далгоит 1889 шықәсазы: ахыркәшаратә ԥышәарақәа раан ииҭиуаз жәа-маҭәарк рахьтә ааба рзы «ибзиаӡоуп» изықәдыргылт, ҩба рзы «ибзиоуп».

Иара абри, 1889 шықәсазы, Д. Гәлиа, Қырҭтәыла, Гори ақалақь аҿы, Аахыҵ-Кавказтәи арҵаҩцәа рсеминариа дҭалоит, аха иҵара хиркәшартә еиԥш дзыҟамлеит: ԥшьымзҟа ааҵуаны дычмазаҩхеит, атиф ихьит, ицарагьы аанижьит.

Убарҭ ашықәсқәа раан изыҟалт агәырҩа дугьы: 1891 шьщәса ажьырныхәамза мзазы иан дыԥсит, 1893 шықәсазы — иаб, 1894 шықәсазы — ианду.

Урҭ ахҭысқәа апоет игәалаиршәоит абас: «Дук мырцыкәа, абарҭ ашықәсқәа раан, сан дыԥсит. «Испанка» иагеит сандуи саби. Сара урт Кәыдры армарахьтәи ацшаҳәаҿы аҵла ду амҵан анышә инаҭаны, аҩны ахадара ааныскылт. Сашьеи саҳәшьеи ааӡатәны исыман». Урт — Ивани Екатеринеи ракәын.

Абринахыс, егьа иҽазикызаргьы, Д. Гәлиа ҵареиурҭак дҭалартә дзыҟамлеит. «Абасала, — иҩуан иара, — сара ԥшьышықәсеи цшьымзи ракәын ашколқәа рҟны аҵара анысҵоз, иара уигьы инеиԥынкыланы акәымкәа... Уи ашьҭахь сара рҵаҩцәас исыман ашәҟәқәеи аԥсҭазаареи».

Арҵаҩцәа рсеминариахьтә даныхынҳә, Д. Гәлиа, зназы, Аҟәа иаԥныз қыҭак аҿы, Екатериновка, рҵаҩыс аус иуеит, 1890-1891 шықәсқәа рзы, аҵаҩцәа аурыс бызшәа иаирԥхьоит.

Абри ашьҭахь, Д. Гәлиа активла далахәхоит убри ашықәсан Аҟәатәи аепархиаҿы адинхаҵаратә шәҟәқәа аԥсышәала реиҭагаразы иеиҿкааз Акомиссиа аусура.

Азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы анбан шәҟәы аԥҵара, иара убас аиҭагара ус напаркра даналага инаркны маҷ-маҷ ашьапы акуеит Д. Гәлиа ирҿиаратә, илитературатә усура. Изныкымкәа излаигәалаиршәоз ала убасҟан, азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы, уарла-шәарла акәзаргьы, иаԥиҵо далагоит ихатә жәеинраалақәагьы.

Убарҭ инарываргыланы, убри апериод аан, Д. Гәлиа Очамчыра аучасткаҿы, Аҟәа аокруг аначальник иусҳәарҭаҿ уҳәа ҭарџьманс (еиҭагаоыс) акыр шықәса аус иуан, уахи-ҽни ауаажәлар дрылан, ражәа-рышшԥхьыз еиҭеигон, дырзааԥсон.

Жәлар рышкол арҵаҩы ҳәа ахьз анирҭа нахыс, рҵаҩыс аус иуан Кәтолтәи (1904-1905), Кындыгтәи (1905-1908), Тамшьтәи (1908-1912) ашколқәа рҿы.

Иара убри, 1912 шықәсазы, Д. Гәлиа инеиԥынкыланы диасуеит Аҟәаҟа, аусқәа рхы ахьеиларсу «аҳәынҭқар тәарҭахь». Аракагьы ҩааԥхьа арҵаора ус хациркуеит, зны-зынлагьы ҩыџьара-хыџьара аусура еилагзаны: Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ, Ашьхарыуаа рышкол аҿы (1912 шықәса), Ареалтә училишьче акны (1914), нас, 1915 шықәса инаркны 1921 шықәсанза — Аҟәатәи арҵаҩцәа рсеминариаҿы (1921 шықәса инаркны асеминариа педагогтә техникәмхоит, a-20-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы уи аинститут ҳәагьы иашьҭан).

Абри асеминариаҿ Д. Гәлиа екстерн ҳасабла қәеиарала аԥышәара дахысуеит, убри иабзоураны, иара излаигәалаиршәо ала, 1919 шықәсазы абжьаратәи аҵареиурҭақәа рҿы официалла арцаҩра азин иоуеит (абри атәы акыр инарҭбааны иазааҭгылоуп Х. С. Бгажәба «Зыхьӡ камшәо» захьзу ишәҟәы аҿы, — Акәа, 1977 ш.).

Убарҭ ашықәсқәа раан Д. Гәлиа ауасхыр азышьҭеиҵоит аԥсуа периодикатә кьыԥхь — дашьаҭакҩуп 1919 шықәса ԥеруал 27 рзы иҭыҵыз агазеҭ «Аԥсны». Иара иоуп уи раԥхьатәи аредакторгьы (1919-1920).

Усҟантәи аамҭақәа апоет игәалаиршәоит абас: «Иакымкәа иҩбамкәа ашколқәа рҿы аус зуан, уахык ала ҩышә тетрад ирыгыу ирыбзоу саналгалакь ашьҭахь акәын алитература аус нап анасыркуаз, хазы, «Аԥсны аҭоурых» ҳәа изҩырц иҟаз ашәҟәы азгьы аматериалқәа реизгара саҿын».

Арҵаҩцәа рсеминариаҿ акәзар, иҵаҩцәа (И. Когониа, М. Аҳашба, Ив. Папасқьыр, Ӡ. Дарсалиа уҳәа) ицырхырааны иеиҿикаауеит адраматә кружок, иаԥшьигоит анапылаҩыратә журнал «Ашарԥы-еҵәа» аҭыжьра.

Иара абри ашықәс август мза инаркны Д. Гәлиа Аԥсны Аҵара ус азы Жәлар ркомиссариат Амилаҭқәа рыҟәша Аԥсуа секциа данапхгаҩхоит, абраҟагьы инапы иануп аҵара-дырра, ашәҟәҭыжьырҭа, асахьаркыратә литература, аиҭагара рус.

Абарҭ инарываргыланы, 1921 шықәсазы еиҿкааҩыс дамоуп ақыҭақәа рҿы жәлар рҿаԥхьа иқәгыло атеатртә гәыԥ, аус шиуц иуеит Аҟәатәи апедагогтә техникам аҿы, еиуеиԥшым ауаажәларратә усура мҩацигоит.

Абраҟа аус иуеит Академиа ацныхәрас 1930 шықәсазы Аԥсуа бызшәеи алитературеи ирызку анаукатә-еилкааратә институт (ашьҭахь - АБНИИ) еиҿкаахаанӡа.

Уи анеиҿкааха инаркны, Д. Галиа аинститут анаукатә усзуҩцәа дыруаӡәкыуп, абрака аус иуеит иԥсҭазаара далҵаанӡа: 1938 шықәсанӡа днаукатә усзуҩуп, 1938 шықәса инаркны, СССР Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум излашьақәнаргәгәаз ала, днаукатә усзуҩы еиҳабуп.

Иара абри аамҭазы, инауката усура инаваргыланы, а-30-тәи ашықәсқәа рынҵәамҭанӡа, Д. Галиа рҵаҩыс аус шиуц иуеит Аҟәатәи еиуеицшым аҵареиурҭақәа рҿы, 1938 шықасазы - Аҟәатәи аҳаынҭқаррата педагогтә институт дадоцентуп. 

Д. Гәлиа Аԥсны АССР Иреиҳаӡоу Асовет аилазаарахь ԥшьынтс депутате ҳәа далырххьан: 1938 шықәса (актәи ааԥхьара), 1947 шықәса (аҩбатәи ааԥхьара), 1951 шықәса (ахԥатәи ааԥхьара), 1955 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара); 1942 шықәса декабр мза инаркны Аԥсны АССР Иреиҳазоу Асовет Апрезидиум аилазаара даларҵоит, Аԥсны Иреиҳазоу Асовет депутатс дыҟанаҵгьы уи аилазаара далоуп.

СССР Иреиҳазоу Асовет ашҟа Д. Гәлиа депутатс далырххьан ҩынтә: 1954 шықәса (аԥшьбатәи ааԥхьара), 1958 шықәса (ахәбатәи ааԥхьара).

Иԥсҭазаара даналҵшаз аламҭалазы, 1957 шықәсазы апоет иаԥиҵоит иреиӷьу ипоезиатә рҿиамҭақәа руак: «Абри соуп сара».

Дырмит Иосиф-иԥа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалахьан ҩынтә, раԥхьа, 28 шықәса данырҭагылаз, 1902 шықәсазы, ԥҳәысс дигоит Џьгьарда ақыҭа инхоз апап Сарпиан (Серапион) Чхеизе иԥҳа - Марина Чхеизе-ԥҳа (лан д-Амҷ-ԥҳан).

Агәалашәарақәа изларҳәо ала Марина мыцхәы иԥшӡаз, иеинаалаз аӡә лакәын, ҵареиурҭа далымгацызт, аха аҩреи аԥхьареи лдыруан.

Марина Чхеизе-цҳа диит 1885 шықәсазы, лыԥсҭазаара далҵит 1903 шықәсазы, ахшареиура дахыԥсааит. Джуп Џьгьарда ақыҭа, лани лаби рывараҿ.

Аҩынтә раан Д. Гәлиа аҭаацәаратә ԥсҭазаара далалоит 1911 шықәсазы, 37 шықәса данырҭагылаз. Усҟан ԥҳәысс дигоит Аҟәатәи аҳәса ргимназиаҿ аҵара зҵоз Елена Андреи-иԥҳа Бжьалаа (1893-1979). Ирхылцыз: Гьаргь Гәлиа (1913-1989) иеицырдыруа шәҟәҩҩхеит; Владимир Гәлиа (1914) анџьныр ҵара далгахьан, дынџьнырын, аҩбатәи адунеитә еибашьра далаӡит; Татиана Гәлиа (1919-1997) — инеицынкылан акыр шықәса аус луан А. М. Горки ихьз зху Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә институт адоцентс, Д. Гәлиа инхарҭа-амузеи аиҳабыс.

Анс-арс ҳәа акәымкәа, иаахҵәаны аҭак ҟасҵоит абас: ааи, сара исылсыршаз маҷысшьом, избанзар, наџьнатәгьы сара иҟасҵоз зегьы гәыкала акәын ишыҟасҵоз. Аха иҟасҵахьоу аҵкыс хараӡа еигьны исьшсыршар ҟалон, зегь раԥхьа иҟаҵатәу, зегь реиҳа хадара злоу ҳәа аханатә сусқәа еилкааны исымазҭгьы. Сара сгәамчи сылшареи сыԥсаҟьон, зны апоезиа шьҭых'уа, зны анаукахь сеихо мацара. Иҟалап, алитература мацара схы азкны аус зур еиҳа еигьызҭгьы. Иҟалап ус акәымзаргьы!

Ауаҩытәыҩса ҿыц нап злеикуа аус аҿы инамцхәны агәамч ақәирӡуеит, аиашазы, идыррагьы аҽарҭбаауеит, иазҳауеит. Ари — егьыбзиоуп, иагьуԥышькласуеит.

Зны-зынла исԥьфхагахалоз даҽа мзызк ыҟан. Амыцхә «арма-ра» зҽадызхалоз ҩызцәақәак «адунеи зегьтәи ареволиуциа» асахьа иҭырхуаз аҿы Аԥсны цәыкәбарк иаҟарамкәа исдырбо ианалагалакь, аиашами ишәасҳәаша, скалам сымҟәыҵшәаны икашәон. Инықәбаны иԥаша цәыкәбарк азы аџьабаа батәума? Аха аԥсҭазаара иснарбаз уи ауп, иара убри ацәыкәбар азыҳәаҵәҟьа аџьабаабара иацсоуп. Гәыкала аџьабаа базар - уи ацәыкәбар џьаргьы иқәба изцаӡом.

Акгьы амыхьӡакәа иаанхоит».

Ажәаеинраалақәеи ахьӡыртәрақәеи. Қарҭ 1912 шықәса. 

Арԥызбеи аԥҳәызбеы рышәҟәы. Даеа хьӡыртәрақәаки жәеинраалақәаки. Қарҭ 1913 шықәса.
Ажәаеинраалақәи ахьӡыртәрақәеи ашәақәеи. Аԥсуаа рхьырԥар рахь.




#Article 15: Аԥсны аҳәынҭқарратә абираҟ (1214 words)


Аԥсны аҳәынҭқарратә абираҟ — Аԥсны Аҳәынҭқарра бираҟоуп.

Абираҟ автор — Валери Гамгиа. 

Апропорциа — 1:2

Аԥсуа бираҟқәа еиҳа ижәытәӡоу рсахьақәа рнуп Кәыдры аха ҿы Гәараԥ ашьха ишьҭоу далаа ркульттә хаҳә аҿы. Ишәдыру еиԥш, анапы акульт ажәытәтәи ажәларқәа аӡәырҩы рыҩныҵҟа ахархәара аман... Аԥсны, ари зыӡбахә ҳәоу Гәараԥ ашьхаҿы ишьҭоу акульттә хаҳә аҿы ада-гьы асахьа ануп Афон ҿыц иҟоу аҳаԥы Агца аҟны. Аҵарауаа изларҳәо ала, абираҟ ахьыӡ 8-9-10-11 ашәышықәсқәа раан Аԥсуа ҳәынҭқарра иаҵанакуаз атопонимқәа рҿы иуԥылоит, иаҳҳәап, “Анаԥа” ахьыӡ аҟны... Абаза бызшәаҿы иҟоуп абираҟ ахьыӡқәа ҩба – “абираҟ” иара убас “анапы”.

Аҟәа – Мрагыларатәи Амшынеиқәаҿықә
аҟны
акырӡа зҵазкуа хәаахәҭратә баҕәазаны, иара убас
генуеаа колонизациа ззыруаз амшын аԥшаҳәаҿы
хадара зуаз ҭыԥны иҟалоит. Ақалақь 14-15–тәи
ашәышықәсақәа раантәи ахсаалақәа рыҟны, иаҳҳәап,
абжьарашәышықәсазтәи амшынтә хсаалақәеи, иара
убас амшынҿықәқәа рыхҳәаанҵақәа (алоциа ҳәа
изышьҭоу) жәпакы рыҟны иарбоуп. Урҭ реиҳарак
рҿы иаарԥшуп аԥшшәы змоу усҟантәи ақалақьқәеи
аҳәынҭқаррақәеи
рбираҟқәа. Убарҭ
ақалақьқәа ирылоуп
Аҟәагьы. Уи иеиуеиԥшым
аамҭакәа раан
еиуеиԥшым абираҟқәа
ахашәыршәыруан. Аҟәа
иахагылаз италиатәи
(генуеатәи) абираҟқәа руакы иамаз аԥшшәқәа
ҵакык -ҵакык рыман.

иаарту анапсыргәгыҵа зну абираҟ. Ари абираҟ ар-
боуп алаҭин хсаалаҿы, “58 ҳәынҭқарра рбираҟ”
ҳәа хьӡысгьы иамоуп. Иара еиқәзыршәазз Жохас
де Виллдестес иоуп.

ирхиоит Иакуб Бертран.

еиҭа иахаргылоуп генуеатәи абираҟ. Ари иаҳәоит,
генуеаа рымчхара шыҕәҕәахаз атәы, хара имгакәа
урҭ рылшарақәа ԥызкуаз аԥсуа ҳәынҭқар имчхара
шеиҭашьақәыргылазгьы. Кавказ рнапаҿы аагаразы ақәԥара мҩаԥысуан
мчы змаз ҩ-ҳәынҭқаррак рыбжьара – Ҭырқәтәылеи Ирани.

Ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра иабзоураны ир-
шеит рымчхара аҳра ахьауаз, рнапаҵаҟа иҟалоз
аҭыԥқәа. Убас Ҭырқәтәыла анапаҵаҟа иҟалеит
Мраҭашәаратәи Кавказ зегьы, Аԥсынгьы убрахь
иналаҵаны. Абри инаркны Аԥсны Ҭырқәтәыла
иампыҵанархаларц иалагоит (уи аҵыхәанӡа
анагара шзалымшазгьы). 1571 шықәсазы Аҟәа
ицәырҵуеит амзаҿа зну аҭырқәа бираҟ ҟаԥшь.

иртәеит. Уи атәы рҳәоит ақалақь аҩныҵҟа адамра хаҳәқәа ирну аҩырақәа.

аԥсуа поет, Ҭырқәтәылатәи аҵарауаҩ Омар
Беигәа иԥшаауеит Стамбултәи архив Топканы аҟны ажәытә сахҭан хсаалақәа рыхҳәаа

абри ашықәсан 1578 шықәсазы ақалақь иаха-
иргылоит амзаҿақәа хԥа рсахьа зну абираҟ
еиқәаҵәа. Ақалақь хьӡыс иарҭеит Сухум-кале.

Урыстәылатәи аимпериа анхыбгала анаҩс
Аԥсны Аԥсны зҽеидызкылаз Кавказ ашьхаруаа
жәларқәа Реидгылеи Алада-Мрагыларатәи Аидгылеи иалалеит. 1918 шықәса лаҵара мза 11 рзы
Баҭым имҩаԥысыз жәларбжьаратәи аҭынчратә
конференциаҿы иаԥҵан “Ашьхаруаа рреспублика”. Даҕьысҭани, Ачечен-Игәуштәи, Ауаԥстәыла,
Аҟабарда тәыла, Аҟарач-балкартә тәылақәа
реиԥш ари афедерациа иалалеит Аԥсынгьы.
Абасала, еиҭашьақәыргылан 1864 шықәсазы
ихырбгалаз Аԥсуа ҳәынҭқарра. Ашьацԥшәи
ашкәакәеи еиҭныԥсахло инашьҭу быжь-цәаҳәак
(ашьацԥшшәы змоу ԥшьба, ашкәакәақәа хԥа)
Кавказ ажәларқәа рыхдырраҿы аԥсылманреи
(ашьацԥшшәы) ақьырсианреи (ашкәакәа) реи-
нырнаалара, реиҿамгылара иадыргоуп. Аԥсны,
ижәытәӡоу қьырсиан тәылак аҳасабала егьырҭ
аҩ-тәылак (Ауаԥстәылеи Ҟабардеи) надкыла-
ны Ашьхаруаа Рреспублика абираҟ аҿы цәаҳәа
шкәакәала иарбан. Ашьхаруаа Рреспублика Ҭырқәтәыла иазханаҵеит, уи шықәсык ауп
нҵырас иаиуз.

Зураб Шервашиӡе аҳра аниуаз аԥсуаа изныкымкәа аҭырқәцәа
Аҟәа иалырцарц иалагахьан,
аха аҵыхәтәан, урҭ ара еиҭа
аҽышьақәырҕәҕәара рылшеит.
Аҭырқәцәа Зураб днықәганы 18

Қьелешьбеи Чачба иаҳра азхарҵеит. Қәҿиарала имҩаԥигаз
аибашьра ашьҭахь аҭырқәа ир ржәыларақәа аанкыланы,
Қьелешьбеи Аԥсны аҳәаақәа еиҭашьақәиргылеит. Уи ицирхыраауан 
бџьарла, аҳәала, кьарахәла ибзианы иеибыҭаз
абжьаратә аамсҭцәеи анхацәа “цқьақәеи”. Еснагь аибашьра
иазыҟаҵаз ар рхыԥхьаӡара наӡон 500-ҩык рҟынӡа. Аибашьразы
ашәарҭа аныҟаз Қьелешьбеи аамҭа кьаҿк ала илшон
бџьарла еиқәных 25 нызықьҩык ар рыргылара. Уи иман
артиллериеи, аҽуааи, иҕәҕәаз амшын ари (аӡсҭар). 600-
ҩык рыҟнынӡа аҳәынҭқар ишхәар (галер) иааԥмырҟьаӡакәа
Баҭым инаркны Анаԥанӡа Амшынеиқәа аԥшаҳәа рыхьчон,
насгьы ԥуҭи Баҭыми рбаашқәа хылаԥшҩыс иахагылаз иара
иашьеиԥацәа, Чачаа ракәын.
Қьелешьбеи ихаан, иара иԥеиҳаб Асланбеи
ианиасакьаҳәамҭаз Аԥсни Аҟәеи ирхагылан абри абираҟ.
Аԥсны Османтәи Ҭырқәтәылеи Аурыс ҳәынҭқари рполитикатә
интересқәа ирыҵаркит. Иалагеит аурыс-аҭырқәа еибашьра,
аурыс-кавказтә еибашьра, уи иахҟьаны ажәлар арыцҳара
инҭагылеит. Иҟалеит амҳаџьырра. Кавказтәи аибашьра анеилга ашьҭахь мызкы анааҵ, 1864 шықәса рашәарамзазы
аҳра зуаз аурыс имчра Аԥсуа аҳра хнарбгалан, иқәнаргылеит

Абри инаркны Аԥсны Урыстәылатәи аимпериа Аҟәатәи
арратә ҟәша ҳәа ахьыӡ ԥсахын.

быжь-нызықьҩык злахәыз жәлар реизараҿы аԥсуа жәлар
ықәгылеит аурыс иколониалтә политика иаҿагыланы. Уи
иамҽханакит Калдахәара ақыҭа инаркны Ҵабал, Дал, Аҟәа.

Ахыҵхырҭақәа рыҟны ишарбо ала, ажәлар реизараҿы
ицәырган абираҟқәа. Убас, Аҟәа Баалоу ашьхаҿы абџьар
шьҭыхны иқәгылаз рахь иааргеит “аамысҭа” бираҟқәеи

Гәмаа ақыҭантәи Џьыгра Аҩӡба. Изларҳәо ала, ари абираҟ
ҟаԥшьын, аҳәа асахьа қәҵаны ианын.

напхгара зиҭоз аԥсуа отриад 9-тәи Ар Ҟаԥшьаа рыцхыраара-
ла абџьар шьҭыхны ԥсоу ахықәан Қырҭтәыла аменшевиктә
еиҳабыра рыр иаҿагылеит. Аԥхьа игылан “Кьаразаа”...
Хәажәкыра 4 рзы Аҟәа ахы иақәиҭтәын. Анаҩс Очамчыреи
Гали – Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо Асовет мчра шьақәыргылан.
Баҭым имҩаԥысит Кавказбиуро Ацентртә Комитет
аҭакзыԥхықәу аусзуҩцәа злахәыз аизара – аилацәажәара.
Ара Аԥсны аиҳабыра “ихьыԥшым ареспублика” Аԥснытәи
ССР аԥҵаразы иҟарҵаз ажәалагала рыдыркылеит.

Хәажәкыра 31 рзы Аԥсны Аревком Ленини егьырҭ асоветтә
республикақәа зеги адырра рырҭеит Аԥсны советтә республиканы 
ишрылаҳәаз атәы. 1922 шықәса жәабран мзазы
имҩаԥысит Аԥсны Асоветқәа
I Реизара ду. Ара ишьақәырҕәҕәан Қырҭтәылеи Аԥсни
рыбжьара “ҷыдалатәи аидгыларатә еиқәшаҳаҭра”. Қырҭәыла
Аԥсны иақәыҕәҕәо ишалагазгьы ари аиқәшаҳаҭраҿы аҩ-
республикак рзинеиҟарара арбахеит. 1922 шықәса ԥхынҷкәын
мзазы Аԥснытәи ССР ахаҭарнак инапы аниҵеит ССР Аидгыла 
ашьақәгыларазы Аиқәшаҳаҭра. 1924-25 шықәсазы
ишьақәырҕәҕәан Аԥснытәи ССР Агерби Афлаги.

уҳәа “ирыбзоураны” Аԥсны Асоветтә Қырҭтәыла иалаҵан
автономиак аҳасабала. Ари аԥсуа ҳәынҭқарра анаԥыххаз
аамҭазоуп, абызшәа ахархәара азин ыҟамызт, активла аԥсуа
жәлар ассимилиациа рзура апроцесс мҩаԥысуан (Аԥсныҟа
Қырҭтәыла еиуеиԥшым арегионқәа рыҟнытә ақырҭқәа ааганы
Аԥсны индырхон), иԥсахын атопонимика.., аԥсуа жәлар даҽа
џьарантә иааз жәларуп ҳәа рылаҳәаны рыԥсадгьыл аҿы
изинданы иҟаҵан. Аԥснытәи аобкоми Қырҭтәыла ацентртә
комитети рхыбрақәа рҿы Аԥсны икнаҳан амаганеи ажьаҳәеи,

ҟаԥшь. Ашьҭахь урҭ рыҵаҟа “Аԥсны АССР” ҳәа ианҵан.

ХХ –тәи ашәышықәса 80-тәи
ашықәсқәа рынҵәамҭази 90-тәи ашықәсқәа рылагамҭази
Аԥсны амилаҭтә – хақәиҭратә
ҵысра аан иазгәаҭоуп
(Аԥсны аҳәынҭқарратә статус архынҳәра иасимволхаз)
анапы асахьа зну абираҟ ҟаԥшь еиҭа ашьақәгылара. 1922
шықәса ԥхынгәы 23 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу асовет иаднакылеит 
асимволика ҿыци Аԥсны Ареспублика ҳәа ахьыӡи.

Абираҟ авторс дамоуп Валера Гамгиа.
Абираҟ: аурыла ианҵоуп ҭбаарыла еиҟароу ашьацԥшшәи
аԥшшәы шкәакәеи змоу, еиҭныԥсахло быжь-цәаҳәак. Урҭ
рахьтә 4 шьацԥшшәуп, 3 шкәакәоуп.
Ахәы инадкыланы арымарахьтәи акәакь аҿы хыхьла иануп
иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша, зышәагаа абираҟ аура
иадкыланы 0,38 иаҟароу, аҭбаара ах-цәаҳәак еидкыланы
иаҟароу. Иҟаԥшьыхәхәароу акьакьҭаиаша агәҭаны аҩадаҟа
ахы рханы иануп арҕьа напы иатәу иаарту анапсаргәыҵа
шкәакәаны. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны хә-кәақьҭак
змоу быжь-иаҵәа шкәакәак ануп.

Зыҵа ҟаԥшьу иаарту анапсаргәыҵа шкәакәа – Аԥсны
Аҳәынҭқарра иасимволуп. Иара Аԥсуа ҳәынҭқарра (8-10–тәи ашәышықәсақәа) ахаан ишьақәгылеит. 12 шәышықәса
аҵанакуеит. Ари аҩыза абираҟ асахьа ануп генуеатәи амшын
хсаалақәа рҿы 13-тәи 14 –тәиашәышықәсақәа рзы.
Анапсаргәыҵа шкәакәа зну иҟаԥшьыхәхәароу абираҟ
абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы Аԥсны иахьатәи
аҳҭнықалақь Аҟәа аҭыԥаҿы ишьҭаз ақалақь Себастополис
иахашәыршәыруан. Анапсаргәыҵа ахыхь иаакәыршаны
ианҵоу хә-кәақьҭак змоу аеҵәақәа быжьба – Аԥсны ихада-
роу аҳаблақәа быжьба ирдыргоуп: Саӡен (Џьигеҭиа), Бзыԥ,
Гәмаа, Абжьуа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, ԥсҳәы-Аибҕа. Убри
аан абираҟ ашәагааи, аеҵәақәа рхыԥхьаӡареи, ашьацԥшшәи
аԥшшәы шкәакәеи змоу ацәаҳәақәа реиҭныԥсахлара уҳәа
Нхыҵ Кавказтәи Ареспублика (Ашьхаруаа Рреспублика ҳәа
изышьҭоу) аҭоурыхтә бираҟ аҷыдарақәа угәаладыршәоит.

Иеиуеиԥшым аамҭақәа раан атәым қәылаҩцәа
изныкымкәа Аԥсны дара рбираҟ ахаргылара шрылшозгьы,
аԥсуаа ашәышықәсақәа иргәылганы еиқәырханы иааргон
рхатә символқәа...
Аҳәынҭқарреи уи адыргақәеи, иаҳҳәап, аҳәынҭқарратә
бираҟ, цәырҵуеит ажәлар рмилаҭтә хдырра аҩаӡара акырӡа
ианышьҭыҵлак, иара убас ажәлар акны аҽеидкылара ан-
рылша, аҭоурыхтә ԥеиԥш агәра рго ианыҟала. Аԥсуа жәлар
абарҭ аетапқәа зегьы ирхысит, уажәы иааиз аамҭа ҿыц ашә
инылагылеит, ауаатәҩса рҭоурых иагәылганы иаанагоз амҩа
ԥхьаҟа иацҵо
Ҳара ҳбираҟқәа –хьӡи-ԥшеи змоу ҳабацәеи ҳабдуцәеи
ҳареи аимадара ҳабжьазҵо иԥшьоу дыргақәоуп.
Аԥсуа бираҟқәа зықьҩыла ҳабиԥарақәа ршьеи рыԥхӡашеи
рхьыршоуп!

Зқьышықәсала аԥсуа анацәа рыхшара ирықәныҳәаны
идәықәырҵон, аҕа иҿагыланы ақәԥараҿы хьӡи-ԥшеи рыманы 
Аиааира ргаразы. Урҭ ҭахон ԥхьаҟатәи аԥсҭазааразы, иахьатәи амш азы –
Аԥсуа баагәара Ду амҵан, Трахеи Ҵабали рымҵан византиаа
ианрабашьуаз, Анаҟәаԥиа ашьапаҿы арабцәа ианрабашьу-
аз, Аҟәа абаа азааигәара аҭырқәцәа ианрабашьуаз, Афон
Ҿыци, Драндатәи аныхабааи рымҵан ақырҭуа қәылаҩцәа
ианырҿагылаз, актәи аҩбатәи адунеитә еибашьраҿы Европа
еиуеиԥшым атәылақәа рыҟны, мраҭашәаратәи мрагыларатәи
аганқәа рҿы 1992-1993 шықәсқәа раан... Имариам, урҭ
ҳҭоурых ду иагәылоу ахҭысқәа зегьы реиқәыԥхьаӡара, Аԥсуа
еибашьҩы иԥсҭазаара ахҭынҵаны иахьатәи амш ахьиихьчаз.
Леони, Қьелешьбеии, Нестори, Владислави рыр ирылҵыз,
аамҭақәа, азқьышықәсақәа зегьы Реибашьҩы.
Хашҭра рықәым ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз
Аԥсны аҵеицәа!

Ауаатәҩса рҭоурых иақәлоуп ҳажәлар знысыз амҩа. Имариам, ҳажәлар зну амҩа, иахьагьы ԥсахра ақәӡамкәа иаарту
анапсаргәыҵа асимвол имҩақәҵаганы изку.
Иахьа – насыԥ зцыз ари адырга аҭоурых аҿы аиаша
ашьақәгылара иасимволхеит.
Абасала, азқьышықәсақәа рнаҩсгьы анапы асимвол
ҳажәлар еиқәырханы иаанагоит. Уи ҳаԥхьаҟа аиааира
ҿыцқәа рахь ирыԥхьоит!




#Article 16: Абиологиа (532 words)


Абиоло́гиа ( аагоуп абырзен бызшәахьтә:  «биос» - аҧсҭазаара +  «логос» - аҵара) — зыҧсы ҭоу аҧсабара иазку ҵарадырроуп. Абиологиа иаҵоит аҧсҭазаара, адгьыл иқәу, зыҧсы ҭоу ацәеижьқәа. Иаҵоит урҭ реиҿартәышьа, рыҧсҭазаашьа, рыхкырацәара, насгьы ҭоурыхлеи хаҭалеи реизҳара азакәанқәа. 

Ҳапланетаҿы зыҧсы ҭоу ацәеижьқәа даара ирацәоуп. Аҵарауаа изларыҧхьаӡаз ала, еиуеиҧшым, зыҧсы ҭоу ацәеижь хкқәа ыҟоуп 3,5 миллион раҟара. 

Ацәеижьқәа зегьы ршоит аҳрақәа ҧшьба рыла: абактериақәа раҳра; акәыкәбаақәа раҳра; аҵиаақәа раҳра; аҧстәқәа раҳра ҳәа. Аҧстәқәа раҳрахь даҵанакуеит ауаҩгьы.

Абиологиа иаҵанакуа амаҭәар хадақәа:

Ацәеижьқәа ыҟоуп адгьыл иқәу, анышә иҵоу, аӡы иҭоу, аҳауа иалоу. Адгьыл аҿы иҟоу аҧсҭазаара ишьақәнаргылеит абиосфера захьӡу, адгьыл ҷыдала иакәыршоу ахарҧа (абырзен бызшәала «биос» – аҧсҭазаара, «сфера» – акәымпыл). Абиосфера иаҵанакуеит ацәеижьқәа ахьыҟоу аҭыҧқәа зегьы: атмосфера ҵаҟатәи аҿыгҳара, аӡҭатәарақәа, анышә, анышә иаҵоу алитосфера хыхьтәи аҽыҭ. 

Зыҧсы ҭоу ацәеижьқәа рыҧсҭазаара дара-дара еидҳәалоуп, рызегьы изну аҧсабара иахәҭакуп. Зыҧсы ҭоу ацәеижьқәа рхаҭақәа изну аҧсабара ианыруеит, арахь урҭ рыҟазаара аҧсабаратә цәырҵрақәа – ахьҭа, аҧхарра, ацәаакыра, алашара ирыдҳәалоуп.

Ацәеижьқәа дара-дареи аҧсабареи реиныррақәа ҭызҵаауа абиологиа аҟәша иахьӡуп аекологиа (абырзен бызшәала «ойкос» – аҩны, анхарҭа, аҧсадгьыл, «логос» – аҵара). 

Ирацәоуп абиологиатә дырра хәарҭарас иамоу. Ауаҩы абиологиатә дыррақәа ихы иаирхәоит ақыҭанхамҩаҿы, амедицинаҿы уб. иҵ. 

Ауаҩы есааира инапаҿы иааигоит адгьыл амалқәа, уи иԥиҟоит абнақәа, дреишәарыцоит абна илоу ашәарахқәа, аҧсаатәқәа, иҭаирбоит аӡқәа, икуеит, хыҧхьаӡара рацәала амшыни аӡқәеи ирҭоу аҧсыӡқәа. Аҧстәқәеи аҵиаақәеи ирылхны иҟаиҵоит ишәиҵо амаҭәа, ахәшәқәа. Аҧстәқәа ихы иаирхәоит ныҟәагас, еибашьыгас, хыхьчагас, рҧшӡагас. Ауаҩы ихы иаирхәарц азы иаҧиҵеит аҵиаақәеи аҧстәқәеи рыхкы ҿыцқәа. Анкьа ибнатәқәаз, иҩнатә ҧстәқәаны, мамзаргьы культуратә ҵиаақәаны иҟаиҵеит. Абиологиатә дыррақәа ихы иархәаны ауаҩы иааирыхуеит арыц, ашәыр, ауҭраҭых уб. иҵ. афатә злыҵуа аҵиаақәа. 

Абиологиа амаҭәар аҵара шәалагоит уи аҟәша – аботаника аҵара ала. Аботаника – аҵиаақәа рҵара иазкуп. Ажәа «аботаника» абырзен бызшәа аҟынтә иаауеит – «ботане» иаанагоит аиаҵәара, аҳаскьын, аҵиаа ҳәа. Аҵиаақәа рҵара аан еилышәкаауеит урҭ ирыҧсҭазаашьоу, адәахьалеи рыҩныҵҟалеи ишеиҿартәу, рыҿиашьа, адгьыл аҿы иахьуҧыло, хәарҭарас ирылоу, иахьану аҭыҧ ишаныруа убас иҵ. 

Аҵиаақәа иахьырзааигәоу азы урҭ ирываргыланы ишәҵоит абактериақәеи акәыкәбаақәеи. Уаҟа еилышәкаауеит абактериақәа рыхкырацәара, хәарҭараси цәгьараси ирылоу. Убас акәыкәбаақәа анышәҵо еилышәкаауеит урҭ реиҿартәышьа, ишрызҳауа, ишҿио, хәарҭарас ирылоу уб. иҵ. Аҵиаақәеи аҧстәқәеи аамҭа-аамҭала рҽеиҭаркуеит. Аҵиаақәа ааҧын ишәҭуеит, абҕьы иаҵәа ылыргоит, ҽаҩраҭагалан рыбҕьы каҧсоит, убас аҧстәқәагьы рхәыжә рҟьоит, рцәаҧшшәахәы рыҧсахуеит. Аамҭа еиҭасра иадҳәаланы аҵиаақәеи аҧстәқәеи рҽеиҭакрақәа аҵара иахьӡуп афенологиа (абырзен бызшәала – «фаино» – аҟалара, «логос» – аҵара). Аамҭала аҵиаақәа рыҽшырыҧсахуа здыруа ауаҩы ианаамҭоу длаҵоит, драшәоит, еиҭеиҳауеит, иҭеигалоит. Насгьы аҧсабара зырҧшӡо зыҧсы ҭоу аҵиаақәеи аҧстәқәеи адунеи аҿы зехьынџьара иубаратәы рхыҧхьаӡара иррацәоит, дырхылаҧшуеит. 

Абиологиатә дыррақәа змоу ауаҩы аҧсабара бзиа ибоит, деиҷаҳауеит, дацхраауеит.

Акарилогиа — Анатомиа — Альгологиа — Антропологиа — Бактериологиа — Биогеографиа — Биогеоценологиа — Биоинженериа — Биоинформатика — 
Амшынду биологиа — Биометриа — Бионика — Биосемиотика — Биоспелеологиа — Биофизика — Биохимиа — Ботаника — Биомеханика — Биоценологиа — Биоенергетика — Бриологиа — Вирусологиа — Генетика — Геоботаника — Гидробиологиа — Гистологиа — Дендрологиа — Зоологиа - Зоопсихологиа — Иммунологиа — Ихтиологиа — Космическая биология — Ксенобиологиа — Лепидоптерологиа — Лихенологиа — Микологиа — Микробиологиа — Молекулиартә биологиа — Морфологиа — Неиробиологиа — Палеонтологиа — Палинологиа — Паразитологиа — Радиобиологиа — Систематика — Системная биология — Синтетикатә биологиа— Спонгиологиа — Таксономиа — Теоретикатә биологиа — Токсикологиа — Фенологиа — Физиологиа — Физиологиа ВНД — Аҧсатәқәа гьы уаҩыгьы рфизиологиа — Аҳасакьы́нқәа рфизиологиа — Фитопатологиа — Цитологиа — Еволюциатә учение — Ембриология — Ендокринологиа — Ентомологиа — Етологиа




#Article 17: Аԥсуаа (262 words)


Аԥсуаа — аԥсуа-адыга бызшәақәа ргәыԥ ауаажәлар амраҭашәаратә Кавказ аҿы. Инхоит Аԥсны (51% атәыла ауааԥсыра) усгьы Ҭырқтәыла, Урыстәыла, Шьамтәылеи Иорданиеи. Ицәажәоит аԥсуа бызшәала.

Раԥхьаӡа ақәны аԥсуа хылҵшьҭрақәа ирыдҳәалоу аетнонимқәа цәырҵуа иалагеит ҳиера ҟалаанӡа II-тәи азқьышықәса анҵәамҭазы. Ассириатәи аҳ Тиглатпаласар I-тәи иҟаиҵаз  анҵамҭаҿы (XI-тәи ашәышәықәса алагамҭа) далацәажәоит аетнонимқәа абешла.  Аҵарауаа ишырыԥхьаӡо ала, аетнонимқәа абешла, аԥшьилаа, аԥсилаа, аԥсуаа шьаҭас ауп ирымоу. Иара абри аҵыхәтантәи ауп аԥсуа иахьагьы рхазы хьӡыс - етноним ирымоу. Ҳәарада, аетноним апсуаа  урҭ жәларык иаҳасаб ала рышьақәгыла иадҳәалоуп.

Антикатәи аамҭазы авторцәа аӡәырҩы иахьатәи Аԥсны иахьаҵанакуаз иахгәарҭон абарҭ ахьӡқәа - аетнонимқәа: колхаа, гениохаа, аԥсилаа, абазгаа, мысымианаа, саныгаа.

Абжьаратәи ашәышықәсақәа рзы, аԥсуаа жәларык раҳасабала ианышьақәгыла, урҭ ргәылацәа рыҟнытә еидызкылоз ахьыӡқәагьы роуа иалагеит. Убас византиаа абазгаа ҳәа ирышьҭан, ақыртқәа - аԥхази, аерманцәа - аԥхази, аурысқәа - обезы, абазы, адыгаа - азега, аублаақәа - басхыг ҳәа. Иахьанӡагьы аҭырқәцәа аԥсуаа хылҵшьҭрақәа абаза ҳәа ирышьҭоуп, арабқәа рыҟны зызбахә ҳамоу аетноним абаза аԥсуаа иреиуоу аӡәырҩы жәлас ишьҭыхны ирымоуп, иара убри алагьы ретникатә хдырра еиқәдырхәоит.

Ишаабо еиԥш, абаза, аԥхаз, аԥсуа зхылҿиааз етнонимк ауп, насгьы дара шьаҭас ирымоу ԥс, бз роуп.

Шьоукы аҭҵааҩцәа ахьӡ „аԥсуа“ агәызҩаратә ажәа „аԥсы“ (иԥсыз) иалҵуеит ҳәа ирҳәоит. Егьырҭ  аҭҵааҩцәа ԥсы аелемент еиҿырԥшоит аӡыи аӡиасеи реиԥш, аԥсуаа урҭ етимологиала еиҭаргоит аӡы иапну ауаа, мамзаргьы аӡы (амшын) аԥшаҳәаҿы инхо ауаа (Инал-иԥа, 1971. Даҟь.377). Излашьақәыргылоу ала, аԥсуа-адыга бызшәақәа рыҟны ԥсы иаанагон аӡы ҳәа ауп, бзы аубых бызшәалагь аӡы иаанагоит. Дара абарҭ ажәашьагәыҭқәа  рылоуп излашьақәгыло Амшын Еиҟәа аԥшаҳәааҟынтәи ирацәаӡаны иахьанӡагьы иаҳԥыло агидронимқәа - аӡиасқәа рыхьӡқәагьы. Аԥсны анҭыҵ - Акамԥсыс, Ариԥса, Дуабзу, Туаԥсе, Суԥса, насгьы Аԥсны иаҳԥыло: Гәымԥсы, Ааԥсы, Хыԥсы, Бзыԥ, Лашԥсы, Ҳашԥсы, ԥсоу уб. иҵ.

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс ишон быжь-гәыԥкны:




#Article 18: Вольфганг Амадеи Моцарт (274 words)


Иога́нн Хризосто́м Во́льфганг Теофи́л Мо́царт (; даҽакала Во́льфганг Амаде́и Мо́царт  ; ажьырныҳәа 27 1756, Зальцбург — ҧхынҷкәын 5 1791, Вена) — еицырдыруа австриатә композитори, аинструменталистеи  дирижиореи.

Вольфганг Амадеус Моцарт диит 1756 шықәса азы. Уи иаб Леопольд Моцарт, иҷкәын илаз абаҩхатәра арҿиаразы, композиторк, теоретикк иаҳасабала икариера мап ацәикит. Иара Моцарт рҵаҩыс диман аскрипка, афортепиано, амузыкатә теориа азы, анаҩс урҭ рзы дихыҳәҳәо дагьыҟалоит. Моцарт ԥшьышықәса анихыҵуаз афортепиано азы аконцертқәа иҩуан, жәеиза шықәса анихыҵуаз раԥхьаӡатәи иопера ҩны далгеит. Моцарт ихәыҷра еиҳарак иаҳәшьа дицны Европа дшакәшоз ихигеит. Раԥхьаӡа аусура иоуит жәаха шықәса анихыҵуаз архиепископ Зальцбург иҿы. Уи уа аус иуан жәаҩа шықәса, арихиепискап иусура дамихаанӡа. Моцарт уи аамҭазы адунеи аҿы амузыка аҳҭнықалақьс иҟаз, Венаҟа диасуеит. Иара авундеркинд иаҳасабала ақәҿиара ду иман, аха ианизҳа аусурҭа аԥшааразы ауадаҩрақәа иныруа далагеит.

Вена ақалақь аҿоуп Моцарт Гаидн дахьиқәшәаз, уи Моцарт имҵәыжәҩа дыҵакны диман, абык иаҳасабала ибаҩхатәра дахӡыӡаауан. Моцарт ихы зланиҟәигоз аԥара ирҳарц азы аоперақәа иҩуан, урҭ лассы ауаа ирылаҵәон.

Моцарт амузыкатә идеиақәа деимаркуан. Иара акомпозициақәа раԥҵаразы ус хаданы иҿаҧхьа иқәгылаз, амузыка ақьаад анҵаракәын. Уи аамҭаз иара Алоиза Вебер захьӡыз аԥҳәызба бзиа дибеит. Уи ажәа лниҵеит, аха лара мап лкит, усҟан лара лҭыԥан лаҳәшьа Констанца ԥҳәысс дигеит. Моцарт икомпозициа ду симинор ичаразы иҩит.

Композиторк иаҳасабала Моцарт аихьӡара дуқәа иоуит Прага данаҭаа. Иары идҵан акымкәа аоперақәа рҩра, икариерагьы ақәҿиарақәа аман.

Изымдырӡоз аӡәы ареквием иҩырц ианидигала, Моцарт уи иара ишитәыз ала агәра ганы дыҟан, ус иагьыҟалеит, иара диашахеит. Иара уи алгара даара дахыццакуан, аха аҵыхәтәан хәҭақәак роуп дзыхьӡаз, иара убас иаанхаз ахәҭақәак рысхема аанажра дахьӡоит. Иара иԥсҭазаара далҵуеит игәабзиара ахьыуашәшәыраз иахҟьаны ҩажәи жәохә шықәса анихыҵуаз. Ареквием уи иҵаҩцәа иреиуаз – Сассмеир ихиркәшеит.

Моцарт дполитика уаҩымызт. Уи дыклассикын. Иара Бах ихә ҳаракны ишьон, иаԥиҵеит 49 симфониеи 18 опереи.




#Article 19: Европатәи Аидгыла (178 words)


Европатәи Аидгыла — Европатәи атәылақәа 25 еидызкыло, аиҳабырабжьаратә имилаҭтәым еиҿкаароуп, урҭ Аидгыла иалахәу атәылақәа ҳәа рыхьӡуп. Европатәи аидгыла 1992 шықәсазы иаҧҵан Европатәи аидгылазы Маастрихттәи аиқәшаҳаҭрала. Убас шакәугьы, ари аидгыла угәалазыршәо а3ыдара6ъа ыҟан уаанӡатәи аизыҟазаашьақәа рыҟны, 1951 шықәса инаркны. 

Еропатәи аидгыла аусура иаҵанакуеит аҳәынҭқарратә усзура аганқәа зегьы, агәабзиарахьчареи аекономикеи инадыркны адәныҟатәи аполитикеи атәылахьчареи рҟынӡа. Урҭ рыдагьы, Евроеидгыла аҟазаараҿы ихадараны иҟоуп иаку аџьырмыкьа аҧҵареи напхгараҭареи, уи иаҵанакуеит: аҳазалхратә еидгыла, 25 тәыла рыҟнытә 12 рыҟны иалагалоу иаку авалиута, иаку ақыҭанхамҩатә политика, иаку ахәаахәҭратә политикеи иаку аҧсыӡхьчаратә политикеи. 

Евроеидгыла аусбарҭа хадақәаны иҟоуп Еврокомиссиа, Европатәи Аидгыла Ахеилак, Европатәи ахеилак, Европатәи аидгыла Аӡбара, Европатәи аҧхьаӡаратә палата, Европатәи амилаҭтә банки Европатәи Апарламенти. 

Евроеидгыла арҭбаара атәы ҳҳәозар, еиҳа аҽарҭбааит лаҵарамза 1, 2004 шықәсазы, Евроеидгыла иҿыцу аҳәынҭқаррақәа 10 анацла. 

Румыниеи Болгариеи Евроеидгыла иалалеит ажьырныҳәа 1, 2007 шықәсазы. Аҧхьаҟа Евроеидгыла иазҳар алшоит 30 ҳәынҭқарра рҟынӡа. Евроеидгыла аҽырҭбаара апроцесс зны-зынла евроинтеграциа азырҳәоит. 

Евроеидгыла алаларазы аҳәынҭқарра аекономикатәи аполитикатәи дҵақәак нанагӡароуп. Насгьы Евроеидгыла аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, Евроеидгыла иалахәу зегьы ари алалара иазыразхароуп. 

Евроеидгыла иахьа 28 ҳәынҭқарра алоуп, ауааҧсыра 500 миллион рҟынӡа ҟалоит инықәырҧшшәа. 2012 шықәсазы Европатәи аидгыла аҭынчра иазку Нобель ипремиа анашьоуп.




#Article 20: Леонардо да Винчи (355 words)


Леона́рдо ди сер Пие́ро да Ви́нчи (; мшаҧы 15, 1452, ақыҭа Анкиано, Флоренциа ааигәара — лаҵара 2, 1519, замок Кло-Лиусе, Амбуаза ааигәара, Турен, Франциа) — адуу италиатә асахьаҭыхҩы (архитектор, аскульптор) аҭҵаарадырраҩы (аматематик, афизик, анатом), илашу ауниверсалтә ауаҩы () ахкы, италиатә Ренессанс аидеал.

Аӡәгьы иҳамаикӡом, Леонардо да Винчи (1452-1519) зегь реиҳаӡоу асахьаҭыхҩцәа дыруаӡәкуп ҳҳәар. Иара иҭихыз асахьа «Уаххьа маӡа» адунеиаҿ зегь реиҳа еицырдыруа сахьақәа иреиуоуп. Леонардо зегьы деицырдыруа дҟалон акгьы ҭимхыргьы. Избанзар уи дыԥҵаҩ дуун. Уи адагьы Леонардо дҵарауаҩ дуун, дконструкторын. Иара убас уи дпоетын, дмузыкантны, дыскульпторын. Иара идагьы ауаатәҩса рыԥсҭазаарҿ уаҳа аӡәгьы илымшацзар ҟалап ииҵаз аҟара аҵара. Уи абџьар хкқәеи рмеханизмқәеи аҧиҵеит. Иара убас аҳаирпланқәеи аӡаҵаҟатәи анышьқәеи рмодельқәа рыла аҧышәарақәа мҩаҧигон. Леонардо до Винчи, аиашазы, генииуп изуҳәар алшоит. Леонардо диит Италиа Винчи ақыҭан. Уи ихәыҷра аиҳарак иаб иҭаацәа рҿы ихигеит. Леонардо дхәыҷыԥшӡан, ихахәы еиларҳәы, илақәа иаҵәаӡа дыҟан. Леонардо иаб иҷкәын асахьаҭыхра аинтересс шимоу иангәеиҭа, уи иреиӷьӡоу асахьаҭыхҩы бзиа, арҵаҩы иахь дишьҭуеит. Ҽнак Леонардо ирҵаҩы исахьаҿы амаалақь исахьа ҭихуеит. Уара сахьаҭыхыҩҵас усеиҳауп, арҵаҩы – уаҳа сара асахьа ҭысхӡом”, – иҳәеит арҵаҩы. ԥыҭрак ашьҭахь, Леонардо иаб арҵаҩы уаҳа аԥара изысшәаӡом ҳәа иӡбеит. Уи иҷкәын ихигоит ахаҳәқәеи, аҵиаақәеи ҭҵаауа, аԥсааҭқәа дрышьклаԥшуа, урҭ рцәеижьы шеиҿартәу аилкаара дахьашьҭаз, амеханизмқәа рмодельқәа анаԥиҵоз мыцхәы аамҭа рықәирӡуеит ҳәа иҧхьаӡон. Аха Леонардо ирҵаҩы иҿы даанхеит цхырааҩык иаҳасабала. 25-шықәса раҟара иара иҿы дыҟан. Нас ихала асахьа аҭыхра далагоит, раԥхьа Флоренции, нас Милан, Венециа, иԥсҭазаара аҵыхәан – Франциа. Леонардо идеиақәа асахьаҭыхыҩцәа аӡәырҩы рсахьақәа рҿы рхы иадырхәон. Иара, – сара урҭ аԥысҵалоит. Дара урҭ хырҩылаалааит, – иҳәон. Абасала, ирацәаӡам ари асахьаҭыхҩ дуӡӡа иҭынхаз асахьақәа. Аидеиақәа рацәаны иман, ирацәоуп уи карандашьлеи меланлеи иаԥиҵаз аескиз ссирқәа. Леонардо исахьақәа убас иҧшӡоуп, урҭ амузыка еиԥш, еиҭаҳәашьа рымаӡам. (Картины Леонардо так красивы, что их так же трудно описать, как прекрасную музыку). Асахьақәа рҿы ауаа рхаҿқәа даара иҵаулоуп. Уи алашараеи агагеи даҽакала (ҿыцла) ихы иаирхәеит иперсонажцәа еиҳа иҧсабаратәны, ишыҟаҵәҟьаз иааирҧшырц азы. Исахьақәа руак «Мона Лиза» ахьӡуп. Ари аччаԥшь зҿықәу аԥҳәыс лпортреҭ ауп. Апортреҭ ари аԥҳәыск лхаҵа иаҿеиҵеит. Аха Лео - нарда уи апортреҭ убас игәаԥхеит, ихазы иаанижьырц иӡбеит. Уи Франциаҟа иманы дцеит. Ара аҵыхәтәантәи ашықәсқәагьы ихигеит, Франциатәи акрал иҿы аҳҭынратә сахьаҭыхҩыс дыҟан. Уажәшьҭа ари асахьа – Парижтәи Лувр аҿы хәы аҧҵамҭа хазынақәа ируакуп.




#Article 21: Аҳәынҭқаррақәа рсиа (106 words)


Иахьатәи аамҭаз ООН аилазаара иалоуп 193 ҳәынҭқарра - алахәылацәа, иара убас 3 ҳәынҭқаррак - ахәылаԥшцәа Иԥшьроу ахатра (Ватикан). Палестина Ареспублика, иара убас Мальтиатәи аорден иҟоуп жәларбжьаратә азин иасубектны, насгьы есааира зҽызмыԥсуа ахәылапшьҩны - ООН иалахәымкәа. 

Аҳәынҭқаррақәа жәпакы зхы иақәиҭу ҳәынҭқаррақәаны иҟоуп, ма егьырҭ аҳәынҭқарқәа рыла иазхаҵам, ма иазхазҵаз аҳәынҭқарқәа рхыԥхьаӡара маҷны, урҭ ирымоу астатус аимак амоуп.

Адунеи ахәҭақәа рҿы иҟоуп арегионқәа зхы иақәиҭу ҳәынҭқараны азхаҵара роурц азы иазықәԥоу.

Иҟоуп шьоукы, ма ауаа ргәыԥқәа ихыҭҳәуаау ҳәынҭқараны ирылазҳәаз имаҷу ҳәынҭқарран, имаҷу милаҭны, иарбанзаалак зхатәа етноси, зхатә ҵакыра-дгьыл змам, ма ҭоурыхтә заҟәанра, лассы-лассы — аҵакырадгьыл.

Астатуси акатегориеи ԥыҭқ аҵакырадгылқәеи, иара убас зхала иҿыарзгьы изыҟалом еиԥшны ҳҳәаара аҭахәымкәа аидентификациа азура.




#Article 22: Иапониа (202 words)


Иапониа (日本), аофициалтә ахьӡ  — адгьылбжьахатәи аҳәынҭқарра Азиаҟны ауп. Аокеан Ҭынч аҟны, Иапонтә амшыни, Чыни, Ҩадатәгьы Аладатәгьы Кореи, Урыстәылеи мрагыларахь иҟоуп. Атерриториа Охоттә амшын аҟнытә аҩадаҟны Мрагылартә-Чынҭатә амшын аҟнынӡа аладаҟны иаҵанакуеит. Иапониа аҳҭнықалақь Токио ауп.

Аҵанакы — .

Аҳәынҭқарра иаланхо — .

Раҧхьатәи аҷыдарақәа Иапонтә архипелаг ауаа рықәныпхара ицәырҵон 40тә ҟа азқьышықәса ҳ-е-ӡа иапонтә апалеолит, иарбан 12тә азқьышықәсаӡа ҳ-е-ӡа еиҵиҵит, алагамҵа аан. Ажәытәтәи Иапониа ауааҧсыра ашәарыцареи аҟәшәареи ауон, раҧхьатәи аџьаџьа ахаҳәтә амаругақәа реиҟаҵон. Ари апериод аҿы акерамикатә алхымҭақәа ыҟам азы, апериод акерамикаӡымҭа ихьӡырҵоит. 12 000 шықәсаҟнытә ҳ-е-ӡы ӡиомон апериод изҵысит, уи амраҭашәаратәи атәылақәа рҭоурых археологиатәи апериодизациала мезолити неолити ирышьашәалоуп.

Аиапонцәа раҧхьаӡа ачынҭатәи ҭоурыхтә ахроника Ханьшу рыхиҳәааит. Чынҭатә «Х-аҳрак рҭоурых» Ва-тәыла (ус чынҭуаа Иапонтә архипелаг ихьӡырҵеит) еиҳа какала ирҵеит. Ари хроникала ахҧатәи шықәсаҿы аҳра амч-алшара дуӡа измо Иаматаи аҳра иҟан, Химико иаҳкәажәан.

Иапониаҿы иҟьаҿу ашьхатә ӡиасқәа рацәаны иҟоуп (Шинано, Тоне, Китаками).

Иапониа 47 аҩаӡара дуӡӡа административтә акқәа — префектурқәа, азы ишоит. Еспрефектура префект дха иргылоуп.

Ниже представлен список префектур в порядке , сгруппированных по регионам.

Иапониа амҩақәа аргылара аҧара рацәаны иақәихарџьит. 1,2-ҟа млн. км мҩа еилаҳәоқәа ихы еирхәо автотранспорт аныҟәага хада иҟоуп. Иапониахь амҩа армаварала рныҟәоит.

Аихамҩатә акомпаниақәа ржәабақәа атәылатәгьы арегионтәгьы аџьармыкьаҿы еиндаҭлоит. Ҿырҧштәы азы: Иапониатәи Аихамҩақәа рыбжь-компаниақәа роуп.

Иапониа 173 аҳаирпортқәа имоуп.




#Article 23: Қырҭтәылa aгерб (313 words)


Ахәҭaҟaҧшь aҿы aхьтәы ореол змоу, aхьтәы џьaр змоу aрaӡны ҧсa зку, иҽыжәу Гьaргь aцқьa aрaӡны гәылшьaп ишьуеит:
aсaҧaр aқырҭуa (ивериaтәи) aгәыргьын aлa ирҧшӡоуп:
aсaҧaр ныҟәгaҩцәaны ҩ-хьтәы лымык иaрбоуп:
aсaҧaр шьaҭaс иaмоуп aстилизaциa зызу aӡaхәa aқырҭуa орнaменти, aдевиз зну aбaнти;

иҟaҧшьу-ишкәaкәоу aбaнт мхедрули aнбaн aлa aдевиз aнуп: Акзaaрa aуп aмч змоу.

Ахәҭaҟaҧшь aҿы aхьтәы ореол змоу, aхьтәы џьaр змоу aрaӡны ҧсa зку, иҽыжәу Гьaргь aцқьa aрaӡны гәылшьaп ишьуеит;

Иқьырсиaну aдунеи aҿы Гьaргь aцқьa пaту иқәырҵоит. Адиниaшaхaҵaҩцәa мaцaрa рaкәымкәa, aқьырсиaнцәa зегьы бзиa дырбоит. Уи aдaгьы, aҧсылмaнцәa рышәҟәы цқьa, Аҟәырҟaн aҿгьы  Гьaргь aцқьa иӡбaхә ҳәоуп.

Гьaргь aцқьa иқьырсиaну aдунеи aҿы Ҳaзшaз Анцәa ду ир рҧызaс, aaрцәтәи aдунеи aфырхaцәa рхылaҧшхәыс, aуaҩытәыҩсa ихылaҧшхәыс, aгәaҟрa иҭaгылоу aуaa рыцхырaaҩыс дрыҧхьaӡоит.

Ацәгьa иaҿaгыло, aҵaбырги aиaaиреи рсимвол, aрaшь шкәaкәa иaқәтәо Гьaргь aцқьa, aқырҭуaa рзы дҿырҧшыгaны дҟaлеит. Жәытәнaтә aaхыс Гьaргьт aцқьa  aқырҭуaa рхылaҧшхәыс дрыҧхьaӡоит. 

Ари иaбзоурaны, уaмaшәa иубaрaтәы иҟaм Қырҭтәылaҿ Гьaргь aцқьa ихьӡ зху 365 уaхәaмaк aхьдыргылaз. Аиaшaхaҵaрaтә aқырҭуa уaхәaмa Гьaргь имшныҳәa шықәсык aлa  ҩынтә иaзгәaнaҭоит. 

Ивaне Џьaвaхишвили (Ақырҭуa милaҭ рҭоурых, aшәҟәы I) ишызгәеиҭо еиҧш, aқырҭуa ихшыҩ aҿы aнцәaхәқәa рыбжьaрa зегь реиҳa ихaдоу aҭыҧ aaникылоит Гьaргь aцқьa. Ақырҭуa жәлaр Гьaргь иныҳәaқәa шықәсык aлa изныкымкәa иaзгәaрҭоит. Иaзгәaҭaтәуп жәлaр рныҳәaқәa: Хевсуреҭи aҟны Хaхмaҭтәи aџьaри, Гудaнтәи aџьaри, Сaнебaтәи aџьaри, Ҧшaви aҟны Лaшaртәи aџьaри, Мҭиулеҭи aҟны Ломистәи aџьaри уб. егь. Гергисобa, Усaнеҭобa, Арбобa aқырҭуa жәлaр ррелигиaтә ныҳәaқәоуп, урҭ  Гьaргь aцқьa ихьӡ иaдҳәaлоуп. 

Гьыргәaл Ҧерaӡе идыррaқәa рылa, 1180 шықәсaзы, Жaк де Витр, Иерусaлимтәи aпaтриaрх иҩуaн: Мрaгылaрaҿ дaҽa иқьырсиaну жәлaрык иҟоуп, урҭ aибaшьрaҿ, aидыслaрaҿ ифырхaцәоуп, иӷәӷәоуп. Аибaшьцәa рaцәaны ирымуоп. Арҭ aуaa георгиaн ҳәa ирышьҭоуп, избaн aкәзaр Гьaргь aцқьa пaтуқәҵaрaлa изныҟәоит, aӷaцәa рaбaшьрaaн рхылaҧшхәыс дрыҧхьaӡоит, егьырҭ aцқьaцәa рaцкьыс  иaҳa пaту иқәырҵоит.

Иџьшьaтәым,  aдунеи aиҳaрaк aҿы иaхьaгьы жоржиaнцәa, џьорџьиaнцәa мa георгиaнцәa ҳәa иaхьҳaшьҭоу.
 
Агерб aсaҧaр aҿы Қырҭтәыла aсимвол еиҧш Гьaргь aцқьa исaхьa рaҧхьaӡa иaҳҧылоит 1672 шықәсaзы Урыстәылa иҭыжьыз Атитулиaри, Вaхушти Бaгрaтиони 1735 шықәсaзтәи иусумҭеи рҿы. 

Агерб aсaҧaр aхәҭaҟaҧшь aҿы Гьaргь aцқьa исaхьa, Қырҭтәылa aуaaжәлaр рзы aри aфигурa aхaдaрa ду шaмоу иaзгәaнaҭоит.




#Article 24: Қырҭтәылa aбирaҟ (105 words)


Қырҭтәылa aбирaҟ aрaӡны фонaҿ (aфон шкәaкәaҿ) иaрбоуп идуу aџьaр ҟaҧшьи, ҧшь-џьaр хәыҷыки.

Ари, зегьеицырзеиҧшу иқьырсиaну aсимволқәa - ҳaзшaз Анцәеи ҧшь-ҩырaцқьaки aуп иaaнaго.

Аџьaр aгерaльдикaтә дыргaны рaҧхьaӡa ицәырҵит 1099 шықәсaзы, aџьaрныҟәгaҩ Жофруa де Буилон игерб aҿы.

Убри aaмҭa инaркны aри aгерaльдикaтә дыргa Анцәa инышәынҭреи, aқьырсиaнрa aцентр Иерусaлими aуп иaaнaго. Ари aгерб хы-хьӡык aмоуп: Жофруa де Буилон игерб, Иерусaлимтәи aгерб, Адыргa цқьa.

Арaӡны (aшкәaкәa) aгерaльдикaҿ aцқьaрa, aхшыҩ ду aуп иaaнaго, aҟaҧшь - aфырхaҵaрa, aӷьеҩрa, aиaшaрa, aбзиaбaрa.

Анџьелино Дульчери иaҧиҵaз aҳәaaқәa рыхсaaлaҿ - портулaн aҿы (1339 ш.), Фрaнческо ди Лaпоччои Доменико ди Бонинсеньеи aмшынтә рыхсaaлaҿ (1367 ш.), Сидер aмшынтә ихсaaлaҿ (1565 ш.) Қырҭтәыла aтерриториa aбри aбирaҟ aлa иaзгәaҭaн.




#Article 25: Абаклаџьан (156 words)


Абаклаџьа́н, Абаклажан () — захьӡу ауҭраҭых ҵиаагьы аҟәымқәа рҭаацәара иаҵанакуеит. Уи аџьынџьдгьыл ахьыҟоу Индиа ауп. Уаантәи инанагеит Китаитәылаҟа 3000 шықәса уажәы аҧхьа. Европаҟа иаанагеижьҭеи рацәак шымҵуагьы уи хархәара ҕәҕәа аиуит ажәларқәа рыфатә хкқәа рыҟаҵараҿы. Уи иҿало ашәыр ажьы таатоуп, иахоу ацәа еиҳа икьакьоуп. Ҧшшәахәыла абаклажан иҟоуп еиқәаҵәоу, иҩежьу, ишкәакәоу, цәаҳәа- цәаҳәа изылдоу уб. иҵ. Ашәыр ажьы атаатара иагәылоуп ажәлақәа рацәаны. Иҿиоит абаклажан жәлала, аиҭаҳатә рхи- аны еиҭарҳауеит иазырхиоу аҭыҧаҿы, бзиа иабоит аҧхарра. Акартоши абаклажани рбыҕьқәа ирызгагоуп колорадатәи абжқәа. Урҭ абжқәа хәышәла рнырҵәара анаҩсгьы иалшо- ит напыла рыҟәшәара. Аус злоу аҿиаха рымҭакәа ианаамҭоу иҟәшәаны рнырҵәара ауп. Абаклажан ишаӡоу ирфаӡом. Уи рӡуеит, иржәуеит, идырҵәуеит, аӡынхәы ҳәа иадыркуеит. 

Абаклажан шәыр афатә алырхуеит цқьа ишәаанӡа, цқьа ишәыз абаклажан ажәла кьа- кьоуп, агьамагьы ашоуп.

Аҟәымқәа рҭаацәара зыхьӡ аху аҟәым еиқәаҵәа (паслён черный) иҿало ашәырргәыц еиқәаҵәақәа ианшәлакь рышҳамра рылҵуеит. Аҟәым еиқәаҵәа абҕьи, агәыцәи, ашәҭқәеи ашҳам рылоуп. 

Аҟәым еиҧшу ҳаскьын ҵиаауп аҭаҭын фҩыхаа (душистый табак). Уи аҧшӡаразы апаркқәа рҿы еиҭарҳауа аҵиаақәа ире- иуоуп.




#Article 26: Акартош (246 words)


Акарто́ш, Акарто́фель () — акәымкәа рҭаацәараҿы иалоу аҵиаақәа зегьы раасҭа ауаа еицырдыруа ҵиаауп. 

Уи аџьынџь ахьыҟоу Аладатәи америкаҿы иахьанӡагьы ииуеит абна картош захьӡу акартош зхылҵыз аҵиаа. Европаҟа акартош аазгаз аиспанцәагьы уи зырҭаз егьырҭ ажәларқәагьы шәышықәса еиҳаны ирыздыруамызт фатәыс ахархәашьа. Еиҭарҳауан ашәҭ зҿало ҵиаа џьашьахәык аҳасабала. 1565 шықәсазы аиспанцәа иааргаз ари аҵиаа ауаа фатәыс рхы иадырхәоит XVII ашәышықәса анҵәамҭа инаркны. Урыстәылаҟа акартош аанагеит Пиотр I ихаан. Ааҵәак акартош Голландиантәи иааганы ауаа ирзишеит, аха уи лассы изамышьцылеит иара дшақәгәыҕуаз еиҧш. Анхацәа ирымбацыз аҵиаа алаҵара мап ацәыркуан, XIX ашәышықәса алагамҭанӡа абри аус рххатәыс анхацәеи урҭ ирхагылаз ҭауади аамсҭеи ирыман. «Акартош бунтқәа» рыхәаҽразы акырынтә рхы иадырхәахьан аруаа. Аҵыхәтәаны, анхацәа мчыла-хаала акартош алаҵара иаладыргеит. Уажәы ари аҵиаа аурысцәа, абеларусцәа, аукраинцәа уб. иҵ. европатәи ажәларқәа рхы иадырхәоит фатәыс егьырҭ аҵиаақәа зегьы раасҭа. Уи зыбзоурахаз акартош ҵиаа аарыхра ахьуадаҩми акартошхы ахаҭа иалоу афатәқәа рхаҳара ахьыбзиоуи роуп. Акартошхы ирацәаны иалоуп акрахмал. Уи иалырхуеит арахә рхәы, асҧирҭ. Акартош ашәҭқәа амати рымаӡам азы ашьхыцқәа рҭааӡом. Уи ашәҭқәа рхала ибыбыцыркхауеит. Ирҿало ашәырқәа – аргәыц иаҵәақәа рыҩныҵҟа иргәылоуп ажәлақәа. Акартош ажәла иахылҵуа акартошхқәа ссахоит. Убри азы акартош дырҿиоит акартошхы ала. Акартош мыцхәы аҧхарреи, ахьшәашәареи, аӡи зҭахым ҵиаауп. Анышә рҵәыраҿы илоу акартошцыра 3-нтә ирашәазар иунаҭоит киллограммк аҟынӡа аҽаҩра. Акартош алаҵара ауеит заа, аҵаара ианаҟәыҵлакь иаразнак. Усҟан иахьылоу анышә имцәылаҵаарц азы ихырҩоит. Ашьаҭақәа рацәахарц азы акартошхқәа ларҵоит еиҩырссаны, усҟан еиҟәыршәоу аса хымҧада иамазароуп апытҟәыр атәарҭа – аларҭа. Акартошхы аҵиаа изладҳәалаз аган ианыларҵо идырхоит ҵаҟа, усҟан апытҟәырқәа еиҳа ирзыманшәалахоит лассы анышә ахәыҵыҵра. Ацәа шахоу ижәу акартошхы иалоуп ихәарҭоу афатәқәа еиҳа ирацәаны.




#Article 27: Ажь (107 words)


А́жь ()

Ари ажь ажәла Аҧсны ииаӡаахьеит.

Аимхәыжь, Аишәажь, Абаажьыш, Абаӷьыжь, Абжьыш, Абысҭажь, Агашкәыр, Агрыжь, Агәҭалыжь, Агәыҷырхал, Аӷбажь, Аӷбыжь, Аӷжьыш, Аӷьыжь, Ажьеиқәаҵәа, Ажьаҧшь, Ажьгьама, Ажьӷара, Ажьӷра, Ажьеиқәаҵәа, Ажьжәла, Ажьмҽыӷ, Ажьцгоу, Ажьшхәаҭа, Ажьчара, Ажьшкәакәа, Ажьшгьама, Ажьырҟац, Азардагьажь, Азырдагь, Аӡарақәшьар, Аӡныжь, Аӡныжь, Акабулажь, Акабыл, Акамшәҭал, Акамышәҭалжьы, Акасыжь, Акаҷыҷ, Аклыжь, Акәшьар, Акәыб, Акәшьар, Ақәшьар, Ақәшьарыжь, Акәыб, Аҟәбаса, Аҟәшар, Аҟәыб, Лакәараарыжь, Амгәарҷыл, Амкәанҷыр, Амлахәы, Амлаҳәа, Амханкәыр, Амхәанҷкыр, Амшәкаҷыҷ, Амшәкьаҿ, Амшәыжь, Амыҟәҧыжь, Апапыжь, Петрыжь, Ҧаҭлыжь, Аҧилаҟ, Аҧсуажьыш, Аргьаҭыл, Татлыжь, Аҭаражь, Аҭасрыҟәажь, Аҭлыжь, Аҭырқәажь, Аҭәыжь, Аҭәыражь, Ауасажь, Ауасарҳәа, Ауасыр, Ауасырҳәажь, Ауасыхәа, Ауаҭаражь, Ахагбажь, Хаҧшыражь, Ахбыш, Ҳагбыжь, Аҳаҧшьаражь, Аҳардан, Ацажь, Ацхажь, Ацхрыжь, Ацхәажь, Аццыжь, Ацымлыжь, Ацырҧары, Ацәымлыжь, Ацәырҧарыжь, Аҵеижь, Аҷад, Аҷлар, Аҽкыка, Ашәыгажь, Аџьаксар.




#Article 28: Манчестер Иунаитед (108 words)


Ашьапылампылтә клуб «Манче́стер Иуна́итед» (англыз. Manchester United Football Club; англызтә аҳәашьа: ) — англызтәи азанааҭтә ашьампылампылтә клуб Стретфорд, Аду Манчестер аҟынтә. Ишьаҭа кын 1878 шықәсазы «Ньиутон Хит (Ланкашир енд Иоркшир Реилуеи)» еиҧш, 1902 шықәсазы ахьӡ ҧсахын «Манчестер Иунаитед» ала. Адунеи аҿы иҟоу еиҳа идыру ашьапылампылтә клубқәа иреиуоуп. Англызтә Премьер-Лига ишьақәзыргылаз 1992 шықәсазы аклубқәа руак.

Аҩныҟатәи Иунаитед астадион, «Олд Траффорд», аадыртын 1910 шықәсазы. Уи Уембли ашьҭахь идууӡоу Англиатә ашьапылампылтә стадион оуп, 76 
нызқь азгәыбылҩыцәа акоит.

Иахьатәи амш азы Иунаитед ҳ- ибеиаӡоу ашьапылампылтә клубқәа иреиуоуп. Мшаҧы 2011 шықәса рзы Forbes ажурнал акоманда ахәшьара $1,86 млрд икит.

Манчестер Иунаитед раҧхьатәи асезонаҿ Алекс Фергиусон инаҧхгарала 11-и ҭыҧ ааныркылеит.

Ашьапылампылтә клуб «Манчестер Иунаитед»

 




#Article 29: Жваниа, Зураб Виссарион-иҧа (253 words)


Зураб Виссарион-иҧа Жваниа (; ҧхынҷкәын 9, 1963, Қарҭ — жәабран 3, 2005, уаҵәҟьа) — ақырҭуа аполитикатә усзуҩы.

Зурaб Жвaниa ихaнтәaҩрa aaн, Қырҭтәылa aпaрлaмент aҟны, aсоветтә aaмышьҭaхьтәи aқәыҧшылaрaҿы рaҧхьaӡa иaҧҵaхеит aзaкәaнҧҵaрaтә системa ҿыц. Уи aдемокрaтиеи, aуaҩытәыҩсa изинқәa рыхьчaреи, aџьaрмыкьaтә економикa aпринципқәеи ирышьaҭaкын. Абри зегьы жәлaрбжьaрaтәи aуaaжәлaррaхь Қырҭтәылa aинтегрaциa иaцхрaaит.

Уи илaгaлa дууп ҳтәылaҟны ихьыҧшым, иӷәӷәоу, aныррa змоу aтәылaуaҩрaтә уaaжәлaрреи, ихaқәиҭу aмaсмедиеи рышьaқәгылaрaҿы. 
Анaгӡaрaтә aмчрaҟны aҳрa змaз aкорупциеи, aжәa aхaқәиҭрa иaҿaгылaз aнaпхгaрaтә политикеи ирыхҟьaны, 2001 шықәсa aбҵaрaзы aпaрлaмент aхaнтәaҩы иҭыҧ aҟнытә иҽҧхьеитәеит.

Зурaб Жвaниa дҭaхеит 2005 шықәсa жәабран 3 рзы. Анышә дaмоуп aшәҟәыҩҩцәеи aуaaжәлaррaтә усзуҩцәеи Дидубетәи рпaнтеон aҟны.

Зурaб Жвaниa aлидерҵәҟьa иaкәын, уи aбиҧaрa ҿыц иaтәыз aполитикцәa ргәыҧ aҧхьaгылaрa риҭеит, дaӡәымкуa aҿaр политикцәa рымҩa иқәиргылеит. Уи aгәыҧрa aцәaныррa ишьaҭеикит. 

Зурaб Жвaниa ҩнуҵҟaлa ддемокрaтын, ихaтә ментaлитет иӷәӷәоу aҧсaзaрaтә системaны aшьaқәыргылaны, aполитикaтә стрaтегиaны иҟaиҵaр илшон. 

Ацәaжәaҩ бзиa иaкәын, игәaaнaгaрaқәеи, ипозициеи, идунеихәaҧшышьеи, ихaҵaреи aқырҭшәaлa еиҧшҵәҟьa ибзиaӡaны иaaирҧшуaн урысшәaлеи aнглыз бызшәaлеи. 

Иҟоу aҭaгылaзaaшьa aхшыҩ хьшәaшәaлa aхушьaрaҭaрa илшон, aхa игәы шшны aинерциa дaҿaгылон, aстереотипқәa еихaирбгон, ибзиaҵәҟьaны ибоз aструқтурaқәеи aсистемaқәеи рыргылaрa илшон, зылaҧшҳәaa ҭбaaз aӡә иaкәын, aхa aaмҭaкaлa, зуaҩышьa бзиaз, згәы рaзыз, зеиҧшыҟaмыз aиумор злaз дуaҩын. 

Зурaб Жвaниa иҧсыжрa aҽны, Сaмебa aкaфедрaтә уaхәaмaҟны Қырҭтәылa aкaтaликосҽ пaтриaрх Илиa II aбри еиҧш aжәaқәa иҳәеит: «Ҳaҭыр зқәу Зурaб Жвaниa aинтеллеқт ду aлa далкаан, иaрa убaс, aхaҵaрaгьы илaн, уи еснaгь зегь рaҧхьa дгылaн, aхәыцшьaҿы, aбзиaрaҿы, aбзиaрa aҟaҵaрaҿы, иaхьaгьы, aпaтын Зурaб Жвaниa, aбри aуaхәaмa ҿыц aҟны aҧхьaгылaрa имоуп, зегьы рaҧхьa уи иоуп aбри aуaхәaмa цқьa aҟны икҿaрҵaз, уигьы Анцәa идыргa aкәзaр ҟaлaп, Иaҳхылaҧшху дшизaaигәaхо иҳaнaҳәоит».

Зурaб Жвaниa иҧҳәыс Нино Қaдaгиӡеи, хҽҩык ихәыҷқәa: Лизеи, Анеи, Бесуи изaaнхеит.




#Article 30: Фиодор Достоевски (228 words)


Фиодор Достоевски (, Жьҭаара 30, 1821, Москва — Ажьырныҳәа 28, 1881, Санқт-Петербург) — урыс ашәҟәыҩҩы, афилософ.

Достоевски адунеизегьтәи алитератураҿы иналукааша ашәҟәыҩҩцәа дыруаӡәкуп ҳәа иҧхьаӡоуп. Зегь раԥхьа иргыланы, уи ироманқәа «Ацәгьауреи ахьырхәреи» (1866) «Аишьцәа Карамазааи» (1880) рыбзоурала XX ашәышықәсазы афилософиатә хәыцра, ҷыдала, аԥсихоонализи аекзистенциализми аҿиараҿы крызҵазкуа акакәхеит. Уи адагьы, Достоевски илитературатә хаҿсахьа ҕәҕәақәа анырра дуӡӡа рырҭеит Франц Кафка еиԥш иҟаз уи аамҭазтәи ашәҟәыҩҩцәа. Кроме того, сильные Иуадаҩыз ашәҟәыҩҩы иҧсҭазаара цәаныррала, доуҳала игәҽыз, адоуҳаи ацәеижьи ахаанаахыс ирыбжьоу ақьырсиантә еимакы зныҧшуа, ифырхацәа бзиабарала раарҧшра илнаршеит. Достоевски Москва абжьаратәи акласс иаҵанакуаз аҭаацәараҿы далҵит изҳауан. Иҳақьымыз иаб, тиранын, иан ҧҳәыс татан, анцәа дхалҵон, лыҧсҭазаара далҵит Достоевски 16 шықәса ихыҵаанӡа.

Аҷкәын қәыҧш аҩны имаз аҭагылазаашьа бааҧс далацәцарц азы ашәҟәыҧхьара бзиа ибаны ихҭаикит. Ҷыдала игәаҧхон Гогольи, Гофмани Бальзаки рырҿиамҭақәа.

Достоевски иаб игәаҧхарала анџьныр ус иҵон Санкт-Петербург. Ҽнак, ахәыҷқәа ашкол аҿы ианыҟаз иаб имаҵуҩцәа дыршьит иаҳтынраҿы. Достоевски, шамахамзар, игәалашәаӡомызт, иаб дшыршьыз атәы. Зигмунд Фреид ароманист имаз аепилепсиа гәынхәҵысҭала иаб иҧсра дахьазхәыцуаз ихы иавибоз иахылҵуазар ҟалоит ҳәа игәы иаанагон.

Акритикцәа разхаҵарала «Ацәгьареи ахьырхәреи» – шедевруп, ари ароман аҿы Достоевскии ишьҭихуеит ахьырхәра апроблема уи ауаҩы гәаҟрыла ихихыр шауа. Алитературатә критикцәа ароманист инарҵауланы ҩныҵҟала ауаҩы иҭҵаара дашьҭан, ауаҩытәҩса ицәанырра ахкқәа зегьы раарҧшразы – илаҟәӡоу аҭахрақәа инадыркны иҳараку адоуҳатә цәаныррақәа рҟынӡа. Раҧхьа инаргыланы, иара дазҿлымҳан ауаҩытәҩса ахаанаахыс дзышьҭоу – Анцәеи ихи реилкаара.

Достоевскии аҵыхәтәантәи ироманқәа ируакхеит ҭаацәарак рытрагедиа аазырҧшуа «Аишьцәа Карамазаваа» 1880 ш. Ароман аҿы ҧшьҩык аҧацәа руаӡәык иаб дишьуеит.




#Article 31: Уильиам Шекспир (223 words)


Уильиам Шекспир (; , Стратфорд-на-Еивоне — , Стратфорд-на-Эйвоне) — еицырдыруа Англиа апоет.

Уильиам Шекспир (1564-1616) ауаатәҩсатә ҭоурых аҿы зегь реиҳа ирдыруа шәҟәыҩҩы дуӡӡоуп. Иара диит Англиа агәҭаны Еивон ахықәан Стратфорд ақалақь хәыҷ аҿы. Уи иаб иԥа аҵара имазарц иҭахын азы Уильиам аҭыԥантәи ашкол ахь ддәықәырҵеит.

Ашколаҿ аҵара аниҵоз ахәыҷы ихы дақәиҭны дҟалаӡомызт. Аха минуҭк аамҭа аниоуаз, абнахь ныҟәара, ма аӡиас Еивон ахықәахь дцон, уи дахәаԥшуан.

Усҟантәи аамҭазы ақалақь аҿы атеатрқәа рацәаны иҟамызт, актиорцәеи, актрисацәеи рықәгыларақәа рыманы, ҭыԥк аҟынтә даҽа ҭыԥкахь ицалалар акәын. Урҭ зны-зынла Стратфордҟа иаалон. Вилиам урҭ рыхәмарра ахәаԥшра игәаԥхон. Иара ари азаанаҭ бзиа ибеит, иагьиӡбеит дактиорхарц.

Иара Лондонҟа дцоит, уа иара дактирхоит. Убри аамҭазы иара апиесақәа рыҩра далагоит. Шекспир дагьактиорын, дагьдраматургын. Иара иусумҭақәа ирныԥшит иаамҭазтәи ауаа рыԥсҭазаара ахҭысқәа. Уи ипиесақәа ирацәаны атеатрқәа рыҟны иқәдыргылахьеит, еиҭаоуп атәым бызшәақәа рахь. Ари Шекспир даара деицырдыруа дҟанаҵеит.

Иеиҳа иеицырдыруа ипиесақәа рахь иԥхьаӡоуп – «Отелло», «Акрал Лир», «Гамлет», «Ромеои Џьулеттеи». Урҭ иахьагьы ирылаҵәаны иҟоуп, атәылақәа рҿы шәахьнеилак ижәбар шәылшоит. Шекспир зынӡа 37 пиеса иҩит. Иара иреиӷьӡаз англиатәи атеатрқәа 25 шықәса рҟынӡа аус рыциухьан.

Уильиам Шекспир иара убас ажәеинраалақәа рацәаны иҩит, зеиҕьыҟам асонетқәа налаҵаны. Уи иажәеинраалақәа рыла ашәақәа рацәаны ирҩхьеит. Иара зегь реиҳа иркьыԥхьуа, иеицырдыруа шәҟәыҩҩуп адунеиаҿ. Иара иԥсҭазааразы иаадыруа имаҷуп. Ҳара уаҩык иаҳасабала иара дзеиԥшраз гәааҳагӡар ҳалшоит уи аамҭазтәи алегендақәеи инхаз адокументқәеи рыла. Шекспир мшаԥымза 23, 1616 шықәсазы иԥсҭазаара далҵит. Иара иҩит 38 пиесеи ажәеинраалақәеи рацәаны.




#Article 32: Иост Гипперт (137 words)


 Иост Гипперт  (, ок. 1956 шықәса, хәажәкыра 12).

Иост Гипперт диит 1956 шықәса хәажәкыра 12 рзы Германтәылатәи ақалақь  Винц Нидер Венигер  аҟны. 1972-1974 шш. рзы аҵара иҵон Марбургтәи ауниверситет аҿы, 1974-1977 шш. рзы аҵара иҵон Берлинтәи зхы иақәиҭу ауниверситет аҿы,  аиҿырҧшратә бызшәадырреи, аиапонологиеи, асинологиеи, аиндологиеи, иара убас аславистикеи, агерманистикеи аклассикатә филологиеи рхырхарҭала.

Иост Гипперт аиҿырҧшратә бызшәадырра ҭиҵаауеит. Ҷыдала дрызҿлымҳауп абызшәатә гәыҧ ҷыдақәа. Уи акыршықәса рыҩнуҵҟа аҧҵара даҿын индоевропатәи абызшәақәа релектронтә тезаурус, абри ахкы анагӡаразы иаҧиҵахьеит иакымкәа абызшәақәа ртексттә дыррақәа рбаза. 
Иҳаҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа инаркны Иост Гипперт ҷыдала дрызҿлымҳауп кавказтәи абызшәақәа. Акыршықәса  иҭиҵаауан ажәытәтәи, абжьарашәышықәсақәа раантәии, ҳаамҭазтәи ақырҭуа бызшәеи, ашәан бызшәеи, агыруа бызшәеи, алаз бызшәеи, аҧсуа бызшәеи, адыга бызшәеи, аҟабарда бызшәеи, ҵова-ҭуштәии, ачечен бызшәеи, аубых (аубла) бызшәеи, ауар бызшәеи. Агерман бызшәахьы еиҭаганы азгәаҭақәа ациҵеит Георги Климов ишәҟәы «Кавказтәи абызшәадырра алагалажәа» (1993).

Иост Гипперт иҧҳәыс Сониа Гипперт-Фрицгьы дбызшәадырҩы-индологуп.




#Article 33: Винсент Ван Гог (123 words)


Винсе́нт Ви́ллем ван Гог (, хәажәкыра 30, 1853, Бреда, Нидерландқәа — ҧхынгәы 28, 1890, Овер-сюр-Уаз, Нидерландқәа) — адуу нидерландиатә асахьаҭыхҩы. 

Винсент Ван Гог диит Голландиа 1853 шықәсазы. Дсахьаҭыхыҩхаанӡа иара дырҵаҩын. Асахьаҭыхра далагеит 27 шықәса данырҭагылаз. 1886 шықәсазы иара Голландиантәи дцоит Париж инхоз иашьа Тео ишҟа. Ароуп иреиӷьыз исахьақәак ҭихит.

Ҩышықәса ара дыҟан, ашьҭахь, аладатәи Франциаҟа диасуеит уа аҳауа еиҳа иԥхан азы. Аха Ван Гог дычмазаҩын ихы итәымызт, ихы еивысын. Ихеилаԥсара анизааи зны иҩыза, асахьаҭыхҩы Поль Гоген дизыҵҟьахьан. Даҽазны,ичымзара анизааи, иара илымҳа ҿихит. Аҵыхәтәаны, уи зхеилаԥсоу рхәышәтәырҭа дҭашәеит, аха игәабзиара еиӷьымхаӡеит.

Уи аҵыхәтәантәи иажәақәа абас иҟант: «Иҟасҵаз иашоуп ҳәа сгәы иаанагоит». Ван Гог иеиԥш аӡәгьы изҭыхуамызт амхқәеи азараҟьақәеи рсахьа. Уи исахьақәа шәыгалеи мрашәахәалеи ҭәын. Иахьа исахьақәа миллионлы афунтқәа ирыҧсоуп, аха иҧсы анҭаз акоуп ииҭыз.




#Article 34: Шервашиӡераа раҳҭынра (114 words)


Шервашиӡераа раҳҭынра — гылоуп Қырҭтәыла, Аҧснытәи автономтә республика, Гәдоуҭатәи амуниципалитет, Лыхны ақыҭа. 

Аҳҭынра гылан, Лыхны ашҭа ду  аҿаҧхьа. 1866 шықәса, ҧхынгәымза 26 рзы иалагеит Урыстәыла аҳра иадҳәалаз аҧсуаа ампыҵахаларатә арежим  аҿагылара, уи аиқәыртәаразы, иара уи ашықәсан нанҳәамзазы, қәҭешьтәи агәыбернатор аурыс аинрал — алеитенант, Свиатопольск — Мирски, аҳҭынра иблит. 

Шервашиӡераа раҳҭынра дуӡӡа аҭыӡқәа мацара нхеит. 

Аханатә аҳҭынра ҩ — еихагылакны иргылан. Аҳҭынра еибыҭан маҭәахәы хкы рацәала (акьырхаҳә, аҧслымӡхаҳә, ақьырмыт, убас иҵегьы).

Аҭыӡқәа реиқәыршәашьала иубоит аргыларатәи амаҭәахәқәа ахыҧхьаӡара рацәаны рхы ишадырхәаз. Насгьы, еиҳа ижәытәӡоу XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакуа акьырхаҳәцәы рхы иадырхәеит. XIX ашәышықәсазы аҳҭынра рҿцны ирҭбаан. 
  
Аҵакырадгьыл ампыҵахалара азууп Урыстәыла ала. Иҟоу аҭагылазаашьа иахҟьаны, аҳҭынра аиҭашьақәыргылара алшара ыҟаӡам. 
  
Шервашиӡераа раҳҭынра ианашьоуп Қырҭтәла амилаҭтәи ахадара змоу абаҟа астатус. 




#Article 35: Гагратәи ауахәама (121 words)


Гагратәи ауахәама () — Аԥсны ақалақь Гагра ауахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Гагратәи ауахәама амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан.  

Ауахәама  VI ашәышықәса иаҵанакәеит. Уи х-нефтк змоу  абазилика ауп. Ауахәама имҽыҕны иҿыцәаау аблокқәа рыла иргылоуп.  Анышь хада мрагыларахьтә аҩналарҭа амоуп, аладатәи анышь – аноураалатәи аҭӡамц аҟынтә аҩналарҭа амоуп.  Аладатәи анышь ауахәама хада иадҳәалоуп ашә хәыҷқәа ҩба рыла. Ашәқәа руакы ала  аҩадатәи азал ашҟа  ҳнеиуеит, уи мрҭашәаратә аҭӡамц аҿгьы аҩналарҭа амоуп.  Ауахәама хада  ашҟа алашара иҩналоит  аладатәи аҭӡамци,  мраҭашәаратәи аҭӡамци,  аныҳәарҭеи рҿы  иҟоу х-ԥенџьырк рыла. Ауахәама иҩычоуп мраҭашәаратә ашә атимпани аԥенџьыр авареи иҭыху  “Болнистәи аџьар” мацарала. Ажәытә Гагратәи ауахәама  VI-IX ашәышықәсақәа ирыҵанакәа,  Мрагыларатә Қырҭтәыла лассы-лассы иуԥыло абазиликақәа иреиԥшуп.
  

Гагратәи абазилика Қырҭтәыла акультуратә ҭынха абаҟа астатус анашьоуп.  




#Article 36: Лыхнытәи ауахәама (326 words)


Лыхнытәи́ аны́хабаа, Анцәадзыхшаз Лылацәеиқәыԥсара ахьӡала Лыхны иҟоу ауахәама () — Аԥсны архитектруратә баҟа, аҟәырӷтә уахәамоуп, игылоуп Лыхны ақыҭан. 2006 шықәса абҵара 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ауахәама анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамуа акультуратә баҟа акатегориа.
 
Лыхнытәи ауахәама X ашәышықәса иаҵанакәа аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Лыхны ақыҭа агәҭаны игылоуп. Ауахәама иргылоуп ибзиан ицәу ԥшькәакьҭақәа рыла. Усҟак идуум аҟәырӷ хаз-хазы игылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп. Мраҭашәаратә ахәҭаҿы иҟоуп хыхьтәи агаллереиа. Афасадқәа мариоуп, усҟак идуум аԥенџьырқәа амоуп. Мрагыларатә аҭӡамц иаԥыҳәҳәоит 3 апсидак. Лыхнытәи ауахәама аҭоурыхтә хыҵхырҭа хадас иԥхьаӡоуп уи архитектуреи аҭӡынҵақәеи. Лыхнытәи ауахәамаҿы иаанханы иҟоуп X-XI ашәышықәсақәеи, иара уабс, XIV ашәышықәсеи ирыҵанакәа аҭӡынҵақәа рышьҭақәа. Дара аколорити, еиҵыху афигурақәа рдинамикареи, аекспрессиеи рыла иалкаауп.
 

Лыхнытәи ауахәама ажәытәрақәа раԥхьаӡа акәны дрыхцәажәеит еицырдыруа афранцыз қарҭвелолог Мари Броссе. Иара ауахәама аҭӡамцқәа рҟынтә ақырҭуа адҩыларақәак хиҩаалеит, урҭ иреиун 1066 шықәсазы Геллеи икомета ацәырҵра иазкыз адыррагьы, ари атәы иануп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы.

Мари Броссе игәаанагарала, ажәақәа „Аҳ Баграт Гьаргь иԥа индиктион ლჱ (38)“, аадырԥшуеит Баграт IV-тәи иаҳра аҟынтә 38-тәи ашықәс, избанзар ажәа индиктион иара убас ахархәара аман аҳцәа рнапхгара аамҭа аарԥшразы. Убри иашьашәаланы, Аҳ Баграт аҳра иуан 1027 шықәсазы, уи аҟынтә 38тәи ашықәсны иҟан 1065 шықәса. 

Урыстәыла – Қырҭтәылатәи еибашьранӡа Лыхнытәи ауахәамаҿы иҟан 17 раҟара ақырҭуа аҭыӡсахьатә адҩылақәеи, абиблиатә сиужетқәеи, ацқьацәа рсахьақәеи ақырҭуа – бырзентә аилыркааратә адҩылақәа рыла. Арҭ адҩылақәа рҿы еиду Қырҭтәыла аҳцәа: Баграт IV-тәи, Гьаргь III-тәи, адоуҳатә хаҿқәеи рыӡбахәы ҳәан. 

Лыхнытәи ауахәама адҩылақәа рҿы зыӡбахәы ҳәоу аҳ Баграт Гьаргь иԥа - Баграт IV (1027-1072 шш.) иоуп. Адҩылаҿы акамета ацәырҵра иџьоушьаратәы убас ииашаны аарԥшуп. Ари ахҭыс арбоуп еиуеиԥшым 3 рыцхәркрак рыла (ашара инаркны, аиндиктион ала, ахороникон ала), насгьы, амзақәагьы амшқәагьы арбоуп. М. Броссе ишазгәеиҭаз ала, 1066 шықәсазы Қьырса дыбзахеит мшаԥы 16 рзы, бзоба аныҳәа – мшаԥы 9 рзы. Убри аҟынтә, акомета цәырҵит мшаԥы 9-еи 16-и рыбжьара. 1066 шықәсазы Галлеи икомета ацәырҵра иазку адыррақәа иҟоуп Киевтәи аҳра ашықәсҩыреи китаитәи ахроникеи рҿгьы. Ацәыршәага ҿаасҭа асахьала акомета аалырԥшит Нормандиа акралԥҳәыс Матильда Фландриер, лара илԥаз ауарҳал акәакьаҿы иқәылҵаз асахьаҿы. 

Лыхнытәи ауахәама Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп. 




#Article 37: Бедиатәи агәулан (155 words)


Бедиатәи агәулан () — XVI-XVII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа анапылаҩыроуп. Ианҵоуп ақьаад, нусхур аҩырала, ҩ ҽшьаҟакла, иԥшӡоу анапҩырала. Аҷышә еиқәаҵәала, ахқәа алкаауп Сингәурла. Ихҩаалоуп бедиатәи амитрополит Гермиан  Чхетиӡе  иҿаҵара ала. Анапылаҩыра аиқәыршәара  иалахәын даӡәымкәа акаллиграфцәа: Амброси Каргареҭели, Симон Евфратели, Саба Наҷоԥиӡе. 

Агулан - алитургиатә шәҟәқәа реизга ауп, уи иалоуп шықәсык аҩнуҵҟала изыԥхьаша алитургиатә шәҟәқәа. Анапылаҩыра XVIII ашәышықәсазгьы Бедиатәи ауахәамаҿ ишьҭан, ари афакт шаҳаҭра азыруеит зыӡбахәы ҳәоу аамҭа иаҵанакәа адҩылақәеи Бедиатәи Анцәадзыхшаз лахь аныҳәаԥхьыӡқәеи. 
Бедиатәи амитрополит Герман идагьы, анапылаҩыра адҩылақәа рҿы избахәы ҳәоуп бедиатәи аепископ Николоз Мхеиӡегьы. 

Герман иҿаҵара ала еиқәыршәаз анапылаҩыра хыркәшоуп Николоз Мхеиӡе иколофон ала, убри алагьы лабҿба иубарҭоуп Николоз Мхеиӡе Герман иаамышьҭахь иҟаз амитрополит шиакәыз.  

Анапылаҩыра алагамҭеи анҵәамҭеи агуп; 960 даҟьа амоуп; анапылаҩыра иҩуп ақьаад аҿы, ҩ-еиҵагылак рыла, нусхури аҩырала, амарқьаф еиқәа ала, ахқәа иҩуп аԥштәы ҟаԥшь ала. Ҩ-шәҟәыкны ишьақәгылоуп. аминиатиура ашәара 45,5 см. X 33,5 см.. Бедиатәи агулан Корнели Кекелиӡе ихьӡ зху Қырҭтәыла анапылаҩырақәа рмилаҭтә центр аҿы ишьҭоуп. 

Бедиатәи агәулан амилаҭтә ацентр аҟны ишьҭоуп.




#Article 38: Ҵарчатәи абааш (195 words)


Ҵарчатәи абааш – Аҧсны, Гал амуниципалитет, ақыҭа Ҵарча.  

Аҟәшақәа рхыҧхьаӡара:

Аҭоурыхтәҽ архитектура ахцәажәара (аредакторра, иахьынтәаагоу).
Ҵарча ақыҭа ашьха  ашаьпаҿы игылан абаа, уи аҭӡамцқәа зегьы рбгоуп.
Абаа ахыб акәырша ашьха иаларсоуп, убри иахҟьаны абааш ауснагӡара  ииашам аиҿкаашьа  амоуп.

Аладатәи аган абаагәара ахыб абахәа ацәаҳәа иацнаган, убри иахҟьаны ашьаҭа џьараҽ џьара еидыҵит, еилаҳаит.

Убас иҟоуп амрагыларахьтәи агангьы. Акызаҵәык, иаанханы иҟоу ҟҽҩ метр  иҟоу аҩадатәи архәа ауп. Агәҭа иамоуп иҭшәоу ахаҳә мардуан, уи унанагоит   абаагәара ақәцә  иамоу аибашьратә аҭыҧ ахь изго амҩахусҭа ахь.

Ҩ-метрак ажәпара змоу аҭӡы аҟны абаахьчаҩцәа ҩыџьа еивысыратә аҭыҧ аман.

Абаа аҩ-ганк анҵәамҭақәа ишьақәҟьоуп, убри аҟнытә аханатәтәи асахьа еилкаам. Амрагыларатәи аҵыхәа аҟны аҵәахырҭа еиҧшу ргыларак шыҟаз удыруеит. Аха, абаа гылазу ма даҽа ргыларак ыҟазу адырра атәы уадҩуп.
Абааш амраҭашәаратәи аган аҟны аилабгара ахәҭақәа рацәаны иаанханы иҟоуп, аха арбгара  иахҟьаны уи асахьа иазку адырра аилкаара уадаҩуп.

Абаа ақәцә аҟны 6-7 мерт аҳракыра змоу арбгара ацәынхақәа рацәоуп.  Иахагылоуп аицарсра аҧшра змоу аҟәарч. Уажәтәи аамҭазы  ҵаҟатәи ахәҭа иаанханы иҟоуп, даҽа хәҭак иаанханы иҟоу уи аӡҭарчы ауп. Уи ашҭа аладахьтәи амрагыларатә аган аҟны ишьҭоуп, уи ҭырҭәаауп.  Аҭыӡқәа бзианы ишьыхуп. 

Абааш ааха ду  амоуп аха иацәаанхаз рыла иубоит уи ижәытәӡатәу абаашқәа ишыруаку. Ажәытәӡатәи абаашқәа ирхыҧхьаӡалоуп. 
Уажәтәи аҭагылазаашьа (аредакторра, аредакторра ахыҵхырҭа).




#Article 39: Наполеон Бонапарт (284 words)


Наполеон Бонапарт (1769 — 1821) — диит 1769 шықәса нанҳәа 15 рзы Корсика адгьылбжьахаҿы. Франциа, иеиԥш зеиԥшыз афырхаҵа дмаҷын. Уи иҭаацәа арахь Италиантәи 16-тәи ашәышықәсазы иааит. Иара ихьӡҵәҟьа Наполеоне акәын, милаҭла – корсикатәи италианецын. 

Иара иаб ддукатын, афранцызцәа ирҿагылаз дрыдгылан. Наполеон аррнапхгаҩ дуны, револиуционерны иҟалара амзызқәа ируакзар ҟалоит арадикалтә ҟазшьа змаз аҭаацәа рҿы иахьизҳауаз. Наполеон 9-шықәса анихыҵуаз, иаб Бринеҟа дишьҭуеит Париж иҟаз франциатәи арратә еиҳабыратә школ ахь. Уаҟоуп арратә ҵара ахьиоузгьы. Иара артиллеристи офицер ҵареи дҭан. Иҵара даналга, 16 шықәса шихыҵуаз афранцызцәа рыр далалеит.

Наполеон 1792 шықәсазы идырҵеит Париж аусура. Афранцыз монархиа анахырҳәа ашьҭахь август 1792 шықәсазы, акапитан ихьӡ аҟынӡа дхагалан. 1793 шықәсазы артиллериа дәықәиҵеит амацәыз иҭакыз Тулуз агаразы. Хара имгакәа, Тулуз анкаҳа, Наполеон абригадатә еинралры аҟынӡа дхагалан. Уи Италиа афранцызцәа рыр анапхгаҩы даҭан, австриатәи аинралцәагьы аӡәырҩы дыриааит. 1779 шықәсазы Адиректориа захьӡыз франциатәи аиҳабыра хырбгаланы х-консулк рыла ишьақәгылаз аиҳабыра ҿыц аҧиҵеит, уа иара консул хаданы дыҟан. Убри аамҭазы дарбан францыззаалак Наполеон бзиа дибон, дизгәдуун; имчхарагьы ҕәҕәхеит. 1802 шықәсазы Франциеи, Англиеи, Германиеи аҭынчразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Наполеон Франциа Ауниверситет еиҭашьақәиргылеит, Франциа Абанк аҧиҵеит. Иара убас иаҧиҵеит Наполоеон икодекс: раҧхьатәи иаазыркьаҿу афранцыз закәан аилыркаа. Наполоеон икодекс дунеи зегьы аҿы аиуристтә система аҧҵаразы шьаҭас иаиуит. Хара имгакәа уи аиҳабыра иҧсахын Фрранциа аимператорс ихьӡ рылаиҳәеит. Австриа аимператор Мари Луиза ҧҳәысс дигеит. Аҧа диоуит. Шьҭа аимпериа ду дахагылан, 42 миллионҩыуаак напхгара риҭон. Абри ашьҭахь Урыстәыла агара иҽазикын, иимпериа хыбгало иалагеит. 1814 шықәса апрель мза 6рзы Наполеон дахҳәаны Ельба адгьылбжьахалахь дахыган. Шықәсык аҟара ҵхьан еиҧш, 1000-ҩык раҟара ар еизиган париж далалеит еиҭа амчра инапахьы ааигарц азы. Аамҭа кьаҿк мчраҟны дыҟан, ашьҭахь англызқәа иҽриҭеит. 

Алада Атлантика иҟоу Ацқьа Елена лыдгьылбжьахалахь дахцан, иҧсҭазаара далҵаанӡа 1821 шықәса лаҵара 5 рзынӡа ара дыҟан. Изларҳәо ала, акьыба чымазара дагеит, аха ахәшә ирҭеит ҳәа зҳәогьы ыҟоуп.




#Article 40: ИУНЕСКО (155 words)


ИУНЕСКО ( — United Nations Educational, Scientific and Cultural Organization) — аҵареи, аҭҵаарадырреи, акультуреи рызҵаарақәа рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаароуп – иаԥҵан абҵара 16, 1945 шықәсазы. 

Иахьа ИУНЕСКО иҿыцу аидеиақәеи астандартқәеи рцәыргара зылшо акакәны иҟоуп. Урҭ ауаатәҩса рҿаҧхьа иқәгыло аетика ҟазшьа змоу апрболемақәа рҭышәныртәалара, рҳәаақәҵара иазку жәларбжьаратәи анормативтә документқәа шьаҭас ирыҭахоит. 

ИУНЕСКО иара убас аинформациқәеи адыррақәеи реимдареи рыларҵәареи иазку центрны иҟоуп, убри алагьы ари аиҿкаара иалахәу аҳәынҭқаррақәа руаажәларрақәа рылшарақәа иеиуеиҧшым аҟәшақәа рыҟны рыҿиара иацхраауеит. Иааизакны, ИУНЕСКО аус зуа 191 иара убас ассоциациатә ҳәынҭқаррақәа 6 рыбжьара – аҵараиуреи, акультуреи, акоммуникациеи рысфераҟны жәларбжьаратәи аусеицура иацхраауеит. ИУНЕСКО ииашаны, мцҳәарада, хра злоу ауаатәҩсатә ҟазшьақәеи иарбан цивилизациа - заалакгьы, иарбан культуразаалакгьы ҳаҭыр ақәҵареи шьаҭас измоу жәларбжьаратәи аигәныҩразы аҭагылазаашьа аҧҵара иазку. 

ИУНЕСКО ари ароль иахьа ҷыдала аҵакы дуӡӡа амоуп атерроризм ауаҩытәҩса ашәарҭара анрызцәырнаго аамҭазы. 

Адунеи аҧхьаҟа иҭышәынтәаланы аҿиаразы, ауаҩы изинқәеи ирықәныҟәаны, ҳаҭырла ауааи ажәларқәеи реизыҟазаашьеи, аӷарра аҿагылареи шьаҭас измоу аглобалтә знеишьа аҭахуп. Абарҭ ахырхарҭақәа роуп ИУНЕСКО хықәкыс иамоу, уи аусурагьы ҵакыс иаҵоу.




#Article 41: Алберт Еинштеин (213 words)


Алберт Еинштеин (; хәажәкыра 14, 1879, Ульме, Германиа — мшаҧы 18, 1955, Принстон, Ниу-Джерси аштат) — агерман физик аҭоурых аҿы ахәыцҩы дуқәа дыруаӡәкны дрыҧхьаӡоит. Диит иара Ульме, Германиа март мза 1879 шықәсазы, иқәыԥшра зегьы Миунхен ихигеит. Ара иҭаацәа дәқьан хәыҷык рыман. Миунхен ашкол ахь дныҟәон, уи зыхгара цәгьаз гәҿыӷьран иара изы. 12 шықәса анихыҵуаз ихала Евклидов игеометриа иҵеит. Ашьҭахь иҭаацәа Италиа Миланҟа нхара имцар амуит, уа нас, 15 шықәса дшырҭагылаз ашкол дҭыҵырц иӡбеит. Уи еиликаауазар ҟаларын азеиԥшдырратә школ ишалгатәыз. Аха, даҽаганкахьалагьы, иурокқәа рыбжьажьра дшаҿыц даҿын физи ка ихала иҽазыҟаиҵарларц азы. 22-шықәса дырҭагылан Швецариа датәылауаҩханы даныҟала, 1903 шықәсазы уи ԥҳәысс дигеит Милеве Марек. Хара имгака ҩыџьа аԥацәа ихылҵуеит, аха 1919 шықәса азы иԥҳәыс длылҵуеит, иаб иашьа иԥҳа ԥҳәысс дигарцаз азы. 26 шықәса анхыҵуаз ихадоу иҭҵаарадырратә усумҭақәа хәба икьыԥхьуеит. Раԥхьатәи иусумҭа Броун иныҟәара, иеиҭаҵра иазкуп, уи 1905 шықәсазы адоктортә ҩаӡара изҭаз усумҭоуп.

Аҩбатәи аусумҭа афотон мамзаргьы алашара акванттә теориа шьаҭас иауит. Алашара амчхара хаз-хазы иҟоу ахәҭаҷқәа рыла ишьақәгылоуп ҳәа иҧхьаӡоуп, урҭ аквантқәа ма, афотонқәа ҳәа ирышьҭоуп. Еинштеин иусумҭа алашара атеориа даҽакала иазнеиуеит. Ателехәаԥшра – ари Енштеин иаартроуп, уи аҧсҭазаараҿы ахархәароуп. 1921 ш. азы Енштеин Нобель ипремиа ианашьоуп афизика иазкыз аусумҭазы. 1933 шықәсазы Уи Еиду Америкатәи Аштатқәа рахь диасуеит, ара 1940 шықәсазы атәылауаҩрагьы иоуит. Еинштеин иԥсҭазаара далҵит 1955 шықәса мшаҧы 18 рзы Принстон, Ниу-Джерси аштат аҿы.




#Article 42: Дмитри Менделеев (112 words)


Дмитри Менделеев (; ажьырныҳәа 27, 1834 — жәабран 2, 1907) — 1869 ш. азы аурыс ҵарауаҩ Дмитрии Менделеев ахимиатә аелементқәа Рпериодикатә (реишьҭагыларатә) таблица шааиртыз рылеиҳәеит. Абас ала, анаука аҧсабара амаӡақәа раартраз ацаԥха аиуит. Уи нахыс химеи физикеи рҿы иҟаҵоу аартра дуқәа зегьы ари азакәан шьаҭас ирыман.

Менделеев ипериодикатә таблица аелементқәа дара-дара еишьҭагылоуп урҭ ратомтә капан инақәыршәаны. Урҭ апериодқәеи агәыҧқәеи рыла еихшаны иеидкылоуп.

Менделеев иҟаиҵаз аартра аҵарауаа ирылнаршеит Апериодикатә таблицаҿы иҭацәны иааныжьыз аҭыԥқәа хазырҭәааз 38 иҿыцу ахимиатә елементқәа раартра. Иара убри аангьы урҭ ирылшеит Апериодикатә таблицаҟны иҟаз аҵыхәтәантәи аелемент аасҭа еиҳа ихьанҭаз аелемент аҧшаара. 1955 шықәсазы америкатәи аҵарауаҩ Грени Сиберд иоуит (иҧшааит) аелемент 101-тәи аномер, Мендилеевиум ахьӡиҵеит, Апериодикатә Закәан аԥызҵаз ихьӡ аҳаҭыр ала.




#Article 43: Альфред Нобель (264 words)


Альфред Бернард Нобель (1833 — 1896) — Шведтәи аԥҵаҩын, филантропын, даара зҟазшьа уадаҩыз уаҩын. Иара абанкрот диԥан, аха дмиллионерхеит; Иара – алитература бзиа избоз ҵарауаҩын. Уи аԥара рацәаны ирҳаит, аха зегь реиԥш дынхон. Иара даара дуаҩылахҿыхын ауаа рҿы, аха ихи иареи анеизынхоз илахь еиқәын. Ауаа бзиа ибон, аха ахаан иара бзиа дызбоз ԥҳәысгьы димамызт, ҭаацәарагь имамызт; дпатриотын, аха атәым дгьылаҿ. 

Уи иааиртит артҟәацга хкы ҿыц, адинамит, ашьха ҭыԥқәа рҿы арацәа-ыҵыхра ааглыхра аиҕьтәразы, аха иара иаԥиҵаз аибашьыга бџьар аҟаҵаразы рхы ишадырхәоз ибеит. Иусумҭақәа ирыбзоураны адунеи зегь дшеицырдыруазгьы, иара дыздыруаз маҷын, избанзар иԥсы ҭанаҵы ихьӡ-иԥша иҽацәиҵәахуан. “Хьӡы – ԥшак сырҳазшәа сгәы иаанагоит, аха уи ахьӡ- аԥша бзиарак адызбалом», – иҳәеит уи зны ихазы. Аха, иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь, ихьӡ даҽа џьоукы ахьӡ -аԥша рзаанаго иалагеит. Иара Стокгольм диит октиабр 21, 1883 шықәсазы. Ашколгьы дҭамызт, ауниверситетгьы, аха ихала аҵара иҵон азы 20 шықәса анихыҵуаз профессионалтә химикын, лигвист дуун – ашвед бызшәа, аурыс, анемец, афранцыз, англыз бызшәақәа рыла дцәажәон. 

Иара инаукатә ҧҵамҭақәа ахархәара шроуз ибар иҭахын, 80 компаниа инареиҳаны иргылеит 20 тәыла рыҟны. Аха аихьӡарақәа изҭоз аҵарауаҩ иҟазшьа аҷыдарақәеи хара ихәыцуаз анаплакҩи иҟазшьаҷыдарақәа реилагӡара ахьилшаз ауп. Аха, Нобель зегь раасҭа аԥареи иҭҵаарадырратә аартрақәеи ракәӡамызт игәы иҵхоз. Иара есымша аԥсҭазаара аҵакы дашьҭан, данқәыԥшыз аахыс али - тературеи, афилософиеи дрызҿлымҳан. Иара есқьынгьы аӷарцәа рыцҳаишьон. Аха зегь раасҭа ииҭахыз адунеиаҿ аибашьрақәа рҵыхәа аԥҵәаракәын. Абри аус адиулон аамҭагьы аҧарагьы мшаҭо 1896 шықәсазы Италиа иҧсҭазаара далҵаанӡа. 

Зегь еицырдыруа иуасиаҭ аҿы иара иҭынхаз аԥара аанижьит афизика, ахимиа, аԥсихологиа, амедицина, алитераура, аҭынчра азықәԥараҿ аихьӡарақәа аазырҧшыз ауаа премианы ирыҭазарц. Уи иаргьы иара иидеиақәагьы рзы баҟаҵас инхеит. Абас дыргәалашәоит адунеи иқәлара гханы изыԥхьаӡоз ауаҩы иԥсҭазаара даналҵ кыршықәсақәа рышьҭахьгьы.




#Article 44: Џьон Леннон (183 words)


Џьон Уинстон Оно Леннон — еицырдыруа Британиатәи арок-гәыԥ «Битлз» ашәаҳәаҩ дкомпозиторын, дпоетын, дгитаристын. Иара убас иара ирҿиаратә кариераҿ солотә музыкантын, политикатә активистын, артистын, актиорын, авторын.

Уи акомпозиторцәа Џьони – Маккартни рдует џьашьахәы иалазаара иабзоураны арок музыка аҿиара анырра ӷәӷәа аиҭеит.

Аҭоурыхаҿ Леннон иашәақәа Imagine и Strawberry Fields Forever лассы-ласс апоп-музыка аҭоурых аҿы иреиӷьу ашәақәоуп ҳәа азырҳәоит. 2002 ш. азы британиатәи ателерадиоеилахәыла Би-Би-Си азҵаанҵа мҩаԥнагеит аҭоурыха зегьы аҿы британиаа рахьтә шәҩык зегьы иреиҳаӡоу, зегь иеицырдыруа ауаа еилыркаарц азы. Британиа ауаажәларра Леннон аабатәи аҭыԥ аҿы ддыргылеит.

Леннон 1940 шықәса актиабр 9 рзы Ливерпуль ақалақь аҿы диит. Иҭаацәа рҩыџьагь амузыкатә ҵара рыман. Урҭ анеилыҵ ашьҭахь, ихәыҷреи иарԥысреи иан лаҳәшьеи лхаҵеи рҿы ихигеит.

Џьон Леннон Ливерпультә аҟазаратә коллеџь аҿы дрыдыркылт. Уа аҵара игәаԥхомызт азы, аҵыхәтәан, иҵара аанижьуеит. Уи аҭыԥан Леннон амузыка ихы азикуеит, ҷыдала америкатәи рок-н- ролл, ашәаҳәаҩцәа Чак Бери, Бадди Хелли ирҭаз агәацԥыҳәарыла. Леннон рок-н-ролл агәыԥаҿ ахәмарра далагеит, анаҩс уи «Битлз» ҳәа ахьӡ ауит.

Хынҩажәатәи ашықәсқәа рзы Леннон амузыкатә жанр рок-н-ролл аҿиараҿы инарҵауланы анырра аиҭеит, абасала ари амузыка ажанр аҳәаақәагьы ирҭбааит. ХХ ашәышықәсазы Леннон иколлега акомпозитор Маккартни днаидкыланы анырра ду ҟазҵаз акомпозиторцә, ашәаҳәаҩцәа амузыкантцәа ҳәа ирыԥхьаӡоит.




#Article 45: Кембриџь ауниверситет (134 words)


Кембриџь – Оксфорд анаҩс Британиа ду иҟоу зегь раасҭа ижәытәтәу аҩбатәи университетуп, адунеи аҿы аҧшьбатәи аҭыҧ аннакылоит, еиҳа иеицырдыруа ауниверситетқәа ируакуп. Ауниверситет аҧҵан 1209 шықәсазы, Кембриџь инхо оксфордтәи астудент ақалақь иаланхоз ҧҳәыск данишь ашьҭахь ақалақь иалҵыз аҵарауаа еидкыланы. Кембриџьтәи ауниверситет шьақәгылоуп 31 коллеџь рыла. Ақалақь аҿы инхо ауааҧсыра реиҳарак арҵаҩцәеи астудентцәеи роуп. Астудентцәа зегь аҵара анырҵо Кембриџь инхозароуп. Кембриџь амҩадуқәа рҿы иуҧылоит ииаҵәеиқәароу, мамзаргьы еиқәаҵәоу, амаҭәа зшәу аҿар маҷымкәа. Астудентцәеи аспирантцәеи рҵареи рыҭҵаарадырратәи усуреи ашколқәа (дара 6 ыҟоуп) рыҟны имҩаҧысуеит. Ашколқәа афакультетқәеи акафедрақәеи рыла ишьақәгылоуп. Кембриџьтәи ауниверситет аҟны арҵара мҩаҧысуеит 28 курс рыла. Арҭ акурсқәа ирыҵанакуеит абарҭ амаҭәарқәа:

Иахьа аколлеџьқәа хҧа аҳәсса рымацара рыдыркылоит. Егьырҭ 28 коллеџь – илаҧсоуп. Аколлеџьқәа ҩба аспирантцәа мацара ры - дыркылоит. Аколлеџьқәа 4 – еиҳарак астудентцәа еиҳабацәа ма аспирантцәа (21 ш. иреиҳау). Егьырҭ 25 коллеџь астудентцәа реиҧш аспирантцәагьы рыдыркылоит.




#Article 46: Мықәтәи ауахәама (329 words)


Мықәтәи ауахәама — Аԥсны иҟоу акафедралтә уахәама Мықә ақыҭан, Очамчыратәи амуниципалитет аҿы, Аҧсны. Иргылан  Аҧсны аҳ Леон  III-тәи (957-967) ихаан.  Ауахәама хнышьк аман, аха,  анеҩс, аҟәырҕҧшра змоу уахәамас иҟарҵеит. Агәҭаны иҟоу  (аныҳәарҭатә) апсида аҩнуҵҟала аҽеимаа аформа амоуп, адәахьала  акцақәа хәба амоуп.   Аҟәырҕ ахыбра агәҭаны иргылоу 4 шьаҟак ирықәгылоуп.  Зкәакьҭа иашоу ашьаҭа аҟынтә  аҟәырҕ абарабан гежь аҟынӡа ииасуеит  аҧра ала. Адәахьала абарабан лаҟә  12 ацкақәа амоуп.   Ахыбра иҩычоуп ицәу ахаҳә ала. Афасад аҩычара амам.  Ауахәамаҿы ибеиаз аскрипториум  иҟан, уи шьақәдырҕәҕәоит иахьанӡагьы иаанханы иҟоу анапҩырақәа. 

Ҩ-ӡиаск, Мықәи Кәыдри ирыбжьоу аҵакырадгьыл акәын Мықәтәи аҷкәандарцәа ирҭыԥыз. Х-нефк змоу акуполтә уахәама аҭӡынҵақәеи асахьақәеи анын, уи шьакәдырҕәҕәоит иҳ аҩсыз ашәышықәса 80-тәи ашықәсқәа рзы ирбаз, XIV -ашықәсқәа I азбжа иаҵанакуа асахьаҭыхымҭақәа. Мықәтәи аҷкәандарцәа ақтивла иалахәын атәыла аԥсҭазаара.

Ашәышықәсақәа рыҩнуҵҟа Мықә ақырҭуа культура хыҵхырҭас иҟан,  уаҟа ихырҩаалон анапҩыра ҿыцқәа, иара убас, ажәытә напҩырақәа идырҿыцуан. Иахьагьы иаанханы иҟоу Мықәтәи аскрипториум анапҩырақәа рҿы Мықәтәи аусзуҩцәа рыхьӡқәа ҳәоуп.  Мықәтәи ажәытәрақәа рҟынтәи ҷыдала иалкаатәуп Мықәтәи адинтә аизга. Мықәтәи ауахәама аепиграфикатә баҟақәа рылагьы ибеиан, аха, иахьанӡа иаанханы иҟоуп асаркьалсырҭа адҩыла мацара. 

Аамҭак иналагӡаны Мыкә аус руан акатолик-миссионерцәагьы. 1615 шықәсазы акатолик Патр Лиуи Гранжие аиезуитцәа рорден аинрал Клод Аквавива Мыкәынтә изишьҭит арелацион наӡа. 1639 шықәсазы Мықә иаҭааит Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩцәа Ҭеодор Елчини Павел Захариеви. Абертыԥ аҿы урҭ ирбеит раԥхьаӡа иргәаҟыз Степан иԥшьоу ибаҩкәеи Аџьар цқьа ахәҭаки. Гыртәыла иҟаз фҽҷкәандаррак рыгәта Мықәтәи ачкәандаррагьы дахцәажәеит Италиатәи амиссионер Арканџьело Ламберти. Абри ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Мықә иҟаз Антиохиа апатрнарх Макариос III аԥсуаа рыхәҭак аӡы изааихит. XVII ашәышықәса анҵәамтазы Мықәтәи аҷкәандарра ауранагӡара иаҟәыҵит. Аамтак иналагӡаны аныхабаа ԥхастахеит, аҳаскьын иагеит. Ауахама аҭагылазаашьа цәгьа иалацәажәоит Мари Броссеи (уи ауахәама ибеит 1848 шыкәсазы) Дмитри Бақраӡеи (ауахәама даҭааит 1859 шыкәсазы). XLX ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа рзы Аԥсны аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба иԥшьгарала, ауахәамаҿы имҩаԥган арҽеирааиҭашьақәыргыларатә усурақәа. Аҭыӡсахьақәа акьыр рхьыршьит, адәахьалагьы ахыбра аԥшра рыԥсахиг. 1866 шықәсазы Мықәтәи аухуамаҿы анышә дамадан 1864 шықәса инаркны Воронеж ахҵәара зхызгоз Аԥсны аҵыхәтәантәи аҳ Михаил Шервашиӡе-Чачба (1806-1866).

XX ҽтәи ашәышықәса 60-тәи ашыкәсқәа рзы Мықәтәи ауахәамаҿ ареставрациатә усурақәа мҩԥырган, икыдырхит XIX ашәышықәса иатәыз аҿыгҳара. Абри аусурақәа ирыхҟьаны ахыбра аиуит уажәтәи ахәаԥшыша.




#Article 47: Аекологиа (409 words)


Аеколо́гиа (аагоуп абырзен бызшәахьтә:  «ойкос» - аҩны, анхарҭа, аҧсадгьыл +  «логос» - аҵара) — Хыхь ишаҳҳәахьо ала аекологиа рызкуп зыҧсы ҭоу ацәеижьқәеи изну аҧсабареи реинырра аҵара.

Аекологиа ршоит хыџьараны: 1) аҵиаақәа рекологиа; 2) аҧстәқәа рекологиа; 3) ауаҩы иекологиа ҳәа.

Аҵиаақәа рекологиа иаҵоит аҵиаақәеи изну аҧсабареи шеиныруа, аҵиаақәа дара-дара реиныррақәа, урҭ рзеиҧшеизҳарақәа.

Аҧсҭазааразы зыда ҧсыхәа ыҟам аҭагылазаашьақәа иреиуоуп – алашара, аҧхарра, ацәаакы, аҳауа, аминералтә маҭәашьарқәа уб. иҵ.

Ацәеижьқәа рыҧсы ҭанаҵы крырфоит, рыҧсыҧ ларгаҩаргоит, ирызҳауеит, иҿиоит, рымҽхак дырҭбаауеит. Убри ауп урҭ рыҧсҭазаара ҵакыс иамоугьы. Аха ҭагылазаашьала урҭ зегьы еиҧшым.

Џьара аӡы маҷуп, даҽаџьара аҳауа цқьам, егьи- рахь хьшәашәароуп, даҽаџьарах афатә маҷуп, мамзаргьы ӡҟычроуп. Ажәакала ацәеижьқәа рзы иҟоуп иҽеиуи иҽеими аҭагылазаашьақәа. Убарҭ аҭагылазаашьақәеи ацәеижьқәеи реинырра шымҩаҧысуа аҭҵаара иазкуп аекологиа захьӡу аҵарадырра.

Аҵиаақәа рекологиа иҭнаҵаауеит ауаҩы ихарала аҵиаақәа ироуа анырра ахҟьа-ҧҟьақәа.

Аҵиаақәа рекологиа аилкааразын идыртәуп аҵиаақәа рыҧсҭазааратә ҷыдарақәа.

Аҵиаақәа анышә аҟынтәи ироуеит рыфатә, уи иқәгылоуп, изеиҭаӡҵом. Аӡҵиаақәагьы аӡаҿы ироууеит рыфатә, изеиҭаҵӡом. Аҵиаақәа рымҽхак дырҭбаауеит рыжәлақәа рыла. Ахара ацаразы урҭ рыжәлақәа еиҿартәуп аҳауаҿ ихиааланы иҧырратәы, мамзаргьы аӡы иагаратәы. Рышәҭқәа ирхылҵуеит афҩыхаа.

Аҵиаақәа иҧсаанӡа ирызҳауеит. Урҭ урысшәала «рас- тение» зрыхьӡу еснагь иахьрызҳауа азы ауп. Аҵиаақәа ирылшоит рцәеижьхәҭақәа рыҧсахра, ҿыц илганы рзырҳара, рҽырҿыцра.

Аҵиаақәа бзиарҭаны ирызҳауеит ирласны, идуны. Цәгьарҭаны реизҳара ҧкуп, ихьысҳауп. Насгьы аҵиаақәа ахьҭацәгьеи амлакреи аныҟоу ирылшоит абыҕькаҧсара, аамҭала ацәара.

Аҵиаақәа ахыхьчараз ирымоуп ахыхьчага цәеижьхәҭақәа: абҕажәцәа, аҟәымыҕқәа, афҩыцәгьа, агьама бааҧс, ашҳам, ирхылҵуеит абактериақәа зшьуа афитонцидқәа уб. иҵ.

Аҵиаақәа рызҳашьа, рыҧсҭазаашьа ианыҧшуеит иахьану аҭыҧ заҟа ирлашоу. Амра ашәахәақәа ахьзымнеиуа аҭыҧқәа рҿы аҵиаақәа ирызҳауеит икәаданы, риаҵәара маҷны. Уи адагьы аҵиаақәа реизҳара ианыруеит амш заҟароу, аҧхынра мшқәа рхыҧхьаӡара, амра анҧхо амшқәа рхыҧхьаӡара уб. иҵ. алашара иадҳәалоу аҭагылазаашьақәа. Иҟоуп аҵиаақәа амш андуу изызҳауа, иҟоуп амш анкьаҿу азҳара иазыманшәалоу, иҟоуп рыҩбагьы ззеиҧшугьы. Амш андуу изызҳауа аҵиаақәа иреиуоуп аҩададгьылқәа зџьынџьу ача, ақьар, ачаҧшь, акартош. Урҭ ирызҳарц, ишәҭырц азы амш аура 12 сааҭ иреиҳазароуп.

Аладатәи аҵиаақәа – амахәыда, абрынџь, абамба, анышәраса уб. иҵ. рызҳаразы амш аура 12 сааҭ еиҳазароуп.

Амш аура заҟароу иахьҧшым аҵиаақәа иреиуоуп апатырџьанқәа, алымҳардагәа уб. иҵ.

Хыхь иаҳҳәаз амзызқәа ирыхҟьаны аҵиаақәа ршоит х-гәыҧкны: алашара бзиа избо; ашәшьыра зычҳауа; ашәшьыра бзиа избо, ҳәа.

Алашара бзиа избо аҵлақәа иреиуоуп амзаҵла, аҵааҵла, агәыркаҧса, абҕьыршәшәа, ахьаца, аџь уб. иҵ. Алашара бзиа избо иреиуоуп ауҭраҭыхтәи абаҳчатәи аҵиаақәа, иара убас аӡышәҭыши аӡышәҭ ҩежьи.

Ашәшьыра зычҳауеи, бзиа избои иреиуоуп аҧсаӡҵлақәа, аҭәаҵлақәа, арасаҵлақәа, – ачықьқәа рахьтә – ашьхарпаҿ, ақәыцыш, адыҕаџьа, ахәажәа, абжьынҵ уб. иҵ.

Ашәшьыра бзиа избо аҵлақәа – аҧсаӡқәа, рымҵа азҳара рылшоит аҭырасқәа, ашыцламшәқәа. Ашәырбаҳчақәа рааӡара напы азыркуа ирдыруазароуп еиуеиҧшым ашәырҵлақәа алашара еиҧшымкәа ишырҭаху. Аҵиаақәа реиҭаҳараан, ацәаҳәақәа рыҭбаареи аҵиаақәа рхибаҩареи азгәаҭаны збаҳча шьақәзыргыло, аҽаҩра бзиа иоуеит.




#Article 48: Амикроскоп (193 words)


Амикроско́п (абырзен бызшәахьтә иаагоуп  «микро» – ахәыҷӡа аанагоит +  «скопиа» – ахәаҧшра)

Зыҧсы ҭоу ацәеижь аҧсҭазаашьа аилкааразы адәахьала ахәаҧшра мацара азхом. Ибатәуп, еилкаатәуп уи аҩныҵҟа злы- ху ацәеижьхәҭақәа шеиҿартәу, аус шыруа. Ауаҩы ибла еилкаа- ны иабоит иҟәазу амаҭәарқәа. Ацәеижь злыху амаҭәашьарқәеи ахацқәеи убысҟак иссоуп, ардугала уахәамҧшыкәа иубом.

Аҵиаақәеи аҧстәқәеи рцәеижьқәа рыхәаҧшразы рхы иадырхәоит алупеи амикроскопи. Алупа захьӡу ардуга маҭәар ихәыцит Афанасии Кирхер XVII ашәышықәса алагамҭазы. Уи шьақәгылоуп ҩ-хәҭакны. Изхәаҧшуа, ирдуны ирбарц ирҭаху амаҭәар иақәыркуа, зыҩганк ылгәыгәу асаркьалых алинза иамоуп излаукыша амаа. Алупақәа ыҟоуп ихәыҷуи, идуи. Урҭ ирылшоит ардура 2-нтә инаркны 300-нтә рҟынӡа. Лупала акы иахәаҧшуа амаа кны асаркьа далҧшуа иазааигәеитәуеит дызхәаҧшырц ииҭаху амаҭәар цқьа ибо иҟалаанӡа.

Алашаратә микроскоп захьӡу ардуга маҭәар алшарақәа еиҳауп. Уи иалшоит 3600-нтә рҟынӡа ардура.

Иҟоуп аелектронтә микроскопқәа жәанызқьла азырҳара зылшо. Урҭ хархәара рзыруеит аҭҵааратә лабораториа дуқәа рҿы. Амикроскопқәа рыҟаҵашьа ауаа ирдыруеит XVII ашәышықәса аахыс. Усҟан зегьы иреиҕьуп ҳәа ирыҧхьаӡон Голландиатәи аҟаза Антони ван Левенгук иҟаҵамҭа.

Амикроскоп лашарада акгьы унарбаӡом. Убри азы алашаратә микроскоп ҳәа азырҳәоит. 

Амикроскопқәа рыла изхәаҧшуа амаҭәар ҵаҕазароуп алашара алсыртә еиҧш. Амаҭәар ахәҭақәа зегьы еилыхха иубо иҟаларц азы шәыгала иршәуеит. Ус иҟаҵоу амаҭәар иахьӡуп апрепарат. Уи заа алабораториақәа рҿы идырхиоит, нас ашколқәа рахьгьы инаргоит, кыраамҭа рхы иадырхәоит.




#Article 49: Гургениӡе, Влaдимер Иракли-иҧа (168 words)


Влaдимер Иракли-иҧа (Ладо) Гургениӡе (; ҧхынҷкәын 17, 1970, Қарҭ) — ақырҭуа аполитикатә усзуҩы.

Хы-шықәсa рыҩнуҵҟa Лaдо Гургениӡе aгәыҧ ӷәӷәa еизгaрa илшеит, aри aгәыҧ aлaхәыҩцәa Қырҭтәылa aбaнк aҿы aусурa иaлaгaaнӡa Еи Би Ен Амрои, Иу Би Еси, Голдмaн Сaнқси , Кредит Суиси , Номуреи , Доиче бaнки, Моргaн Стенли, Рaифaизени , Иуникредити , Џьеи Ҧи Моргaни, aдунеи aҿы идыру егьырҭ еилaхәырaқәa рҿы aус руaн. Агәыҧ aлaхәыҩцәa рыбзоурaлa,Қырҭтәылa aбaнк 25 миллион доллaр иaҟaрaз aбaзaртә кaпитaлизaциеи ишебгоу aқтивреи рылa, 18 процент aбaзaртә хәҭa змaз, aҭыҧaнтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз еилaхәырaҟынтә 925 миллион aмерикaтәи aдоллaр aбaзaртә кaпитaлизaциеиишеибгоу aқтивреи рылa, 34 процент aбaзaртә хәҭa змз, Лондонтәи aфондтә биржa aлистинг aҿы иҟaз Қырҭтәылеи Укрaинеи рҿы иуниверсaлу бaнкны иҟaлеит. Қырҭтәылa aбaнк aкционерцәa 85 р-процентк aтәымтә aинвестициaтә фондқәa иртәуп.

Лaдо Гургениӡе икaриерa Миис Ҧиерсон aгәҭaнытәи Мрaгылaрaхьтәи Европa aкорпорaтивтә финaнсқәa рыҟәшaҿы дaлaгеит.

Лaдо Гургениӡе Қaрҭтәи Ив. Џьaвaхишвили ихьӡ зху aҳәынҭқaррaтә университети Миделбертәи aколлеџьи дырҭaн, бизнес aдминистриррaҿ aмaгистр иҩaӡaрa Емортәи aуниверситет Гоизуетaтәи aбизнес школ aҿы иоуит .

Идыруеит aнгылз бызшәеи aурыс бызшәеи.

Аҭaaцәaрa дaлоуп, хҽҩык aхшaрa димоуп.




#Article 50: Барселона (ашьапылампылтә клуб) (188 words)


Ашьапылампылтә клуб «Барсело́на» (, , (зегьы ирдыруеит «Ба́рса» еиҧш) —
Каталониатә апрофессионалтә ашьапылампылтә клуб, Испаниаҿы, адунеи зегьыҿы зегь реиҳа ахьӡ-аҧша амоуп. Еиҿкаан 1899 шықәсазы швеицариатәы, британиатәи, испаниатәи, каталонтәи ашьапылампыл асыҩцәа рыла Жоан Гампер инапхгарала. Ари аклуб Каталониа иасимволхеит, убри аҟнытә иаауеит иара адевиз - Mes que un club - more than a club. Барселонатә афанатцәа зегьы ирдыруеит cules ҳәа. 

Убри аклуб ахада астадион - «Камп Ноу» дыҟоуп, зегь реиҳа иҭбааҭыцә истадионуп Европаҿы. 9 ажьырныҳәазы 2009 шықәсазы Барселона иҧсахит азыҟацаратә аҭыҧ, ари иахьӡуп «Сиудад Депортива Жоан Гампер».

Аклуб азыыртыс дреиуп 1908 шықәсы азы ҧасатәи форвард Жоан (Хоан, Ганс) Гампер раҧхьаӡатәи ашьапылампылатә клуб президентс. Убри ҟалит аклуб инҭахоз аамҭазы: 1905 шықәсазы Каталониа аиааира анага ашьҭахь, убри аклуб хәы-шықәса трофеида иҟан, афинанстә ҭагылазаашьа даара ицәгьан. Нас Гампер хәы-шықәса рыҩныҵҟа президентс далархуан. Гампер зегь иреиханы иҟаицыз Барселона иахьаиуаз ахатәы стадион. 1909 шықәсазы хәажәкыра 14 Барселона иасит Carrer Indústria стадион ахь, уи астадион 8000 ауаа акәан.

Аҧхын 2008 шықәсазы акоманда напхгаҩыз ҟалоит зегь еицырдыруа Хосеп Гвардиола, иара иааира иадҳәалоуп аилазаара арҿыцра. Акоманда иқәцоит Джанлука Ӡамбротта, Лилиан Тиурам, Эдмилсон, Деку, Эскерро, Роналдиньо. Дара ацынхәра «Барса» ирҳаит Даниел Алвес, Сеиду Кеита, Александр Глеб, Жерар Пике. 




#Article 51: Ахамелеонқәа (248 words)


Ахамелеонқәа мамзаргьы ахамелеонатәқәа - ахьынчкәакәырқәа рҭаацәара аҵлақәа рҿы анхара зылшо.

Ажәа ахамелеон аҧсуа бызжәахьы аурыс жәала хамелеон ажәытәбырзен ажәа χαμαιλέων (khamailéōn) аҟнытә иааит.

Ахамелеон ашьапи, аҵыхәи ххоуп. Ацәеижь аура 30 см иҟоуп. Аҳәсеи, ахаҵеи ахамелеонқәа рыҧшра зынӡа еиҧшым. Аб еиҳа ашьапы ххуақәа амоуп. Ахамелеон абла дуқәа амоуп. Ахамелеон аблақәа 180 градус иҵәиуеит. Уи иалшоит ҭыҧк аҟны игылазар, имҵысыкуа, аганқәа зегьы рахь инаҧшы-ааҧшыр. Уи афатә аҧшаара аҟны иацхраауеит. Хамелеон даараӡа абз ду амоуп. Уи абз иара аура аҵкьыс ҩынтә иаууп. Ахамелеон иалшоит абыз ала инаскьагоу афатә аагара. Ахамелеон абжьы аҳаӡом. Уи иабоит акумзар, иаҳаӡом. Ахамелеонқәа даараӡа ашьшьаҳа иныҟәоит. Урҭ ирласны аиҭаҵра рылшом.  Ахамелеон аӡы иӡааҟәрылаӡом, аха уи аӡсышьа аздыруам. Ахамелеон аӡы аҟны еиқәхар ҟалоит, ацәгәырҧа уи аҟәара ахь идәықәнаҵар. 
Ахамелеон шықәсык ҩынтә ацәа аҧсахуеит. – Аҧҳәыс хамелеон фба инаркны ҩынҩажәа аҟнынӡа акутаҕь шьҭанаҵоит аҭара аҟны. Аҭра аҟаҵара уи ахаҵа хамелеон ацхраауеит.

Идыруп ахамелеон Иралсны аҧштәы заҧсахуа атәы. Аҧштәы заҧсахуеит ахамелеон? Ма ианбаҧсахуа аҧштәы? Ахамелеон ианшәо, даараӡа ирласны аҧштәы аҧсахуеит. Уи ашәарҭа ианҭагылоугьы аҧштәы аҧсахуеит, ус ала иаҭахуп аҕа аҟнытә аҽыҵәахра. Ахамелеонқәа рыҧштәы рыҧсахуеит амла ианакуа ма аӡы ржәыр анырҭаху. 
Ахамелеон иангәаауа, уи аҧштәы аҧсахуеит! Шаҟа игәаауа аҟра убрысҟак ацәа аҧштәы еиҳа ишкәакәахоит.

Ахамелеонқәа реиҳарак адгьылбжьаха Мадагаскари, Африкеи, агәыла адгьылбжьахақәа рҿыи инхоит. Ахамелеон ахкы рацәа ыҟоуп: урҭ шьоукы, Испаниа, Сириа, Арабтәылагьы инхоит Хамелеон аҧсҭазаара аҵас Ахамелеонқәа еиҳараӡак аҵла аҟны инхоит. Урҭ адгьыл ахь зынӡа илыбааӡом уҳәар ҟалоит. Иҟоуп хкык, уи адгьыл аҟны ауп иахьынхо. Арҭ ахамелеонқәа лассы абҕьқәа рҟны ицәоит, ма аҭыҩраҿы. Ахамелеонқәа шьоукы ашышкламс аҭра аҟны ацәара бзиа ирбоит.




#Article 52: Ҳаџьымба, Рауль Џьумка-иԥа (155 words)


Рауль Џьумка-иԥа Ҳаџьымба (, Тҟәарчал, Аԥсны) — Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада.

Диит хәажәкырамза 21, 1958 шықәса рзы, Тҟәарчал ақалақь; 1975 шықәсазы далгеит Тҟәарчалтәи ахабатәи абжьаратә ашкол; 1976-1978 шш. Асовет ар ахаҭақәа рҿы аррамҵзура дахысуан; 1984 шықәсазы далгеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет, азиндырратә факультет; 1986 шықәсазы аҵара иҵон Минсктәи СССР аҳәынҭқарратә шәарҭадара аилак ашкол аҟны; 1986-1992 шш. Тҟәарчал ақалақь аҿы  Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵура аусзуҩыс дыҟан; 1992-1993 шш. Мрагыларатәи афронт аԥшыхәреи аконтрԥшыхареи рнаԥхгаҩыс дыҟан; 1993-1995 шш. аус иуан Аԥсны аҳәынҭқарра шәарҭадаратә маҵзура аусбарҭвқәа рҿы; 1996-1999 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә еилакы аҿы аконтрабанда аҿагыларазы аҟәша аиҳабыс, Ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2003 шш. Аԥсны аҳәынҭқарра ашәарҭадаратә маҵзура ахантаҩыс, атәылахьчара аминистрс, Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2003-2004 шш. Аԥсны аԥыза-министрс дыҟан; 2005-2009 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩс дыҟан; 2009-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ауаажәларра-политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» ахантәаҩыс дыҟан; 2012 ш. Аԥсны Жәлар реизара адепутатс далхын; 2014 ш. инаркны Аԥсны Ахәынҭқарра Ахадас дыҟоуп; Аинрал-маиоруп, «Леон иорден» ианашьоуп; Дҭаарацәоуп, ҩыџьа ахшара драбуп.




#Article 53: Лакрба, Миха Алықьсандр-иԥа (121 words)


Миха Алықьсандр (Аҳмаҭ)-иԥа Лакрба (, Мархьаул ақыҭа, Аҟәа араион — ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1901 шықәса ажьырныҳәамза 19 рзы Мархьаул ақыҭа Аҟәа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1965 шықәса ԥхынҷкәынмза 15 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.

Аҵара иҵон Аҟәа, Ашьхарыуаа рышкол аҟны, уи даналга - Аҟәатәи Ареалтә училишьче аҿы, иреиҳау аҵара-дырра иоуит Қарҭ, 1929 шықәсазы далгоит Қарҭтәи Аполитехникатә институт аиуристтә-економикатә факультет, нас, а-30-тәи ашықәсқәа раан, аҵара иҵоит Москва, акино-драматургцәа ахьазыҟарҵоз Иреиҳау акурсқәа рҿы.

Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра.

Антологиаҿ иарбоу М.Лакрба иеицырдыруа иажәеинраала «Дмитри Гәлиа изынасҭиуеит» (абас акәын раԥхьаӡа адунеи анабоз ишахьӡыз) абри аҭыжьымҭаҿ хыс иазалхуп ажәеинраала излалаго актәи ацәаҳәа: «Ушнеиуа унеи!..»

Иҩымҭақәа реизга. Х-томкны. Актәи атом ҭыҵит 1968 шықәсазы, аҩбатәи - 1971 шықәсазы, аҳԥатәи атом зҭымҵыцкәа иаанханы иҟоуп.




#Article 54: Кәыҵниа, Леуарса Бида-иԥа (107 words)


Леуарса Бида-иԥа Кәыҵниа ( — ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1912 шықәса ԥхынҷкәынмза 31 азы Аҭара ақыҭа Очамчыра араион. Дҭахеит 1941 шықәса рашәарамза мзмзы, Белоруссиа, Белосток / уажә Польша иалоу қалақьуп/, аҩбатәи адунеитә еибашьраан.

Аҭаратәи ашкол даналга, 1925 шықәсазы Л. Кәыҵниа дҭалоит Н. Лакоба ихьӡ зху Ақәатәи аԥсуа бжьаратә школ-интернат, абраҟа иҵара аныхирқәша /1931/, ԥыҭраамҭак Нхыҵ Кавказтәи арҵаҩратә институт дҭан. уантәи дханҳәны Аԥсныҟа даауеит, аус иуеит Аԥснытәи ашәҟәҭыжьырҭаҟны, аредакциа «Аԥсны ҟаԥшь» аҿы; нас, 1933 шықәсазы, дцоит Москваҟа, даанахәоит Москватәи арҵаҩратә институт. Аҩбатәи акурс аҟны дыштәаз, иааныжьны, 1935 шықәсазы Л. Кәыҵниа дҭалоит А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт. Далгоит 1937 шықәсазы.

Акьыԥхь аҿы дцырҵит 1928 шықәса инаркны.




#Article 55: Лабахәуа, Леонти Бахәа-иԥа (104 words)


Леонти Бахәа-иԥа Лабахәуа (, Река ақыҭа, Очамчыра араион — ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит  Река ақыҭа Очамчыра араион. Гәнаҳарала, харада-барада, дҭадырхоит 1938 шықәсазы.

Аҵара иҵон иқыҭа гәакьаҿ, ашьҭахь, уаатәи алагарҭатә школа даналга, 1924 шықәсазы быжь-класск змаз Очамчыратәи аԥсуа школ аҿы иҵара наигӡоит, уи даналга, 1928 шықәсазы, Аҟәатәи аҳәынҭқарратә педагогтә техникум данаахәоит. 1932 шықәсазы, дызҭаз атехникум аҿы иҵара хыркәшаны, Л. Лабахәуа дҭалоит абри ашықәсан ҿыц иадырҭыз Н. А. Лакоба ихьӡ зхыз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә педагогтә институт афилологиатә факультет. Абри аинститут ибзианы ҳәа далгоит 1936 шықәсазы.

Л. Лабахәуа, ихаҭа излаигәалаиршәо ала, аинститут данҭаз ԥшьышықәса рыҩнуҵҟа напхгара азиуан иара иаԥшьгарала иеиҿкааз алитературатә кружок.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1932 шықәсазы.




#Article 56: Ҵәыџьба, Шьалуа Леуарсан-иԥа (108 words)


Шьалуа Леуарсан-иԥа Ҵәыџьба (, Тамшь ақыҭа, Очамчыра араион — ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1912 ԥхынҷкәынмза 18 рзы Тамшь ақыҭа Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1987 шықәса лаҵарамза 26 рзы. Джуп Аҟәа ашьхараҿ, ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.

Иқыҭаҿҭеи алагаоҭатә школ даналга, Ш. Ҵәыџьба аҵара иҵон Гагратәи ашкол-интернат аҿы, нас — Н. Лакоба ихьӡ зху Аԥсуа школ аҟны. 1932 шықәса инаркны иҵара наигӡоит Нхыҵ Уапстыла, апедагогтә институт аҿы. 1935 шықәсазы аинститут ахԥатәи акәрс аҟны дыштәаз дбаандаҩыртәит, иус «ӡбны», Сибраҟа дахыргоит. Егьшихарамыз шьақәыргыланы Аԥсныҟа ахынҳәара азин иуоит 1954 шықәсазы.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1930 шықәса инаркны.

Ипоезиатә рҿиамҭақәа рзы иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа /иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь/.




#Article 57: Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа (2019) (206 words)


Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа 2019 шықәса — афбатәи Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциа инақәршәан Жәлар реизареи Аԥсны аҳәынҭқарра апардаменти аҿҳәара ԥырҵәеит ԥхынгәымза 21 азы амҽыша 2019 ш-зы. Аха анаҩсан урҭ ииаган нанҳәамза 25 2019 ш-зы.

Аҳәынҭқарра ахада далырхуеит ишахәҭоу имаӡоу бжьыҭырала хә-шықәса рыҩныҵҟа.

Знызынла актәи атур аҿы ишахҭоу алыҵшәа рмоур акандидатцәа, ирзымгар 50% абжьқәа, ҩ-мчыбжьа рыҩнуҵҟа иалагӡан иҟалоит аҩбатәи атур.

Иҟоу Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Рауль Ҳаџьымба ихатә кандидатура ықәыргылоит аҩбатәи аҿҳәарахьы. 

Аԥсны ахада иалхрақәа актәи ртур аҵыхәтәантәи алҵшәақәа Алхратә комиссиа хада ирыланаҳәеит. Аҩбатәи атур ахь инеит иахьатәи Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба, уи иоуит 24,83% (20 551 бжьы), аоппозициатә партиа «Амцахара» ахантәаҩы Алхас Кәыҵниа, уи иоуит 22,91% (18 995 бжьы), Олег Аршба изы рыбжьы арҭеит 22,56% (18 668 бжьы). Асҭамыр Ҭарба иоуит 6,89% (5 703 бжьы), Леонид Ӡаԥшьба — 5,97% (4 938 бжьы), Шамиль Аӡынба — 4,32% (3 579 бжьы), Алмас Џьапуа — 2,12% (1 755 бжьы), Артур Анқәаб — 1,7% (1 403), Асҭамыр Какалиа — 1,02% (841 бжьы). Арҭ акандидатцәа рахьтә аӡәгьы атәыла ахадас дырбар рҭахым 1,9% алхыҩцәа — 1 666-ҩык ауаа.

Аԥсны ахада иалхразы аҩбатәи атур мҩаԥысит цәыббрамза 8 рзы. Абжьыҭарахь инеиит 65,99% алхыҩцәа. Аҵыхәтәантәи аихшьаалақәа инарықәыршәаны иара изы рыбжьы ирҭеит 47,39%, Алхас Кәыҵниа изы – 46,17%. Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит 3155-ҩык алхыҩцәа.




#Article 58: Ӡаԥшьба, Леонид Иури-иԥа (242 words)


Леонид Иури-иԥа Ӡаԥшьба (; , ақыҭ. Бармышь, Гәдоуҭа араион) — Аԥсуа политик.

Диит ажьырныҳәамза 1, 1960 ш. Гәдоуҭа араион Бармышь ақыҭан; 1979 ш. далгеит аҩбатәи абжьаратә школ Гәдоуҭа араион Орџьоникиӡе акыҭан; 1980 ш. Асовет Ар даланы Германиа аррамаҵура дахысуан; 1983 ш. СССР Аҩнаҵҟатәи аусқәа рминистрра иатәу Чебоксартәи амилициа ашкол далгеит. 1983-1990 шш. Томсктәи аобласттә нагӡком Аҩнаҵҟатәи аусқәа русбаҭаҟны аус иуан аоперативтә зинмчы змоу иҟынтәи ашьауԥсаара аҟәша аиҳабы иҟынӡа; 1991 ш. далгеит Омсктәи амилициа иреиҳаӡоу ашкол; 1991 ш. диаган Аԥснытәи АССР ААР ашьаусҭҵааратә усбарҭа аоперативтә зинмчы змоу аусзуҩы еиҳабы имаҵурахьы; 1992-1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага инаркны, Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы В. г. Арӡынба ихьчара аофицер еиҳабыс дыҟан; 1993 ш. Аԥсны ААР аоперативтә ҭакҟаҵара аиҳабыс дыҟан; 1993 ш. Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс, ақалақь Аҟәа Аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабыс, арратә комендантс дҟаҵан; 1995 ш. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр иҳаҭыԥуаҩыс дҟаҵан; 1996 ш. диаган Аԥсны Аҳәынҭқарратә ашәарҭадаратә маҵзура Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс; 2002-2008 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәахтәқәеи аизгатәқәеи рзы аминистр актәи ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2008-2011 шш. Аԥсны Ашьампылампыл афедерациа ахадас дыҟан; 2010 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп; 2011 ш. амилициа аинрал-маиор ҳәа ахьӡ ихҵан; 2013 ш. иаԥиҵеит «Азакәанреи, аҭышәынтәылареи, адемократиеи рзы ауаажәларратә еиҿкаара» Аԥсны азеиԥшуаажәларратә еидгыла; 2013-2014 шш. аполитикатә усура инапы алакын; Аԥсны аопозициатә политикатә мчқәа ркоодинациатә хеилак далан; 2014 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадаразы икандидатура ықәтылан; 2015 ш. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрс дҟаҵоуп, амилициа аинрал-леитенант ҳәа ахьӡ ихҵан; 2016 ш. Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәа реимадаразы Ахада иабжьгаҩ имаҵурахьы диаган.

Иахьатә аамҭазы, Аҳәынҭқарратә политикатә партиа «Акзаара» ахантәаҩра азииуеит.




#Article 59: Аӡынба, Шамил Омар-иԥа (186 words)


Шамил Омар-иԥа Аӡынба (; , Баҭым, Аџьариатәи АССР) — аԥсуа политик.

Диит лаҵарамза 21, 1970 шықәсазы Аџьариатәи АССР, Баҭым ақалақь аҿы; 1987 ш. далгеит Баҭымтәи абжьаратә аурыс школ №25; 1987-1988 шш. аус иуан Баҭымтәи ахимиа-фармацевттә зауад аҿы усуҩыс; 1988-1990 шш. СССР арбџьармчқәа рҿы дахысуан аррамҵзура; 1990 ш. дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет аҭоурых-зындырратә факультет, дагьалгеит 1997 шықәсазы «азинҭҵааҩ» изаанаҭ ала: Аԥсны Жәлар Рџьынџылатә еибашьраан акәылӡтәтехника агәыԥ далан. Ианашьоуп «Аԥсны афырхаҵа» ҳәа ахьӡ; 1994 ш. инаркны ашьампыламылтә клуб «Абазг» еиҳабыс дыҟан; 1996 ш. Аҟәатәи алагаратә зауад акомерциатә директорс дыҟан; 1996-2005 шш. абизнеси, ашьампылампылтә клуб «Абазг» арҿиареи инапы рылакын; Мшаԥымза 2005 ш. инаркны Аҿари аспорти русқәа рзы аъәнҭқарратә еилакы ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩс дыҟан; Цәыббрамза 2005 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада хылаԥшра ззиуаз Аҿартә политиказы аидгыла дахантәаҩхеит; Нанҳәамза 26, 2011 ш. имҩапысуаз Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҿы, Ахада ихаҭыԥуаҩрахь кандидатс дыҟан; 2011-2014 шш. ашьампылампылтә клуб «Абазг» деиҳабын; Жьҭаарамза 2014 ш. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩс даҭан; Цәыббрамза 2016 ш. хатәгәаԥхарала имаҵура ааныжьыт; 2016 ш. дҭалеит РАНХиГС амагистратура «Аҳәынҭқарратәи амуниципалтә усбарҭа» афакультет, аҵара хиркәшеит диплом ҟаԥшьыла 2019 шықәсазы. Ажьырныхәамза 21, 2017 шықәсазы аинициативтә гәыԥ аԥшьгарала Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент адепутатрахь кандидатс ашәҟәы дҭагалан.




#Article 60: Аршба, Олег Нури-иԥа (206 words)


Олег Нури-иԥа Аршба (; , Тҟәарчал ақ.) — аԥсуа политик.

Диит 1964 шықәсазы Тҟәарчал ақ; 1981 ш. далгеит Тҟәарчалтәи актәи абжьаратә школ; 1988 ш. далгеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет афилологиатә факультет атәым бызшәақәа рыҟәша «Арҵаҩы аиҭагаҩареферент» изанаат ала; 1984-1986 шш. рзы аррамаҵзура дахысуан; 1988-1989 шш. рзы — Тҟәарчалтәи актәи аԥшьбатәи аабжьаратә школқәа рҟны англыз бызшәа арҵаҩыс аус иуан; 1989-1991 шш. рзы Тҟәарчалтәи азауад «Зариа» акомҿар еидгыла акомитет зыхиақәиҭу амаӡаныҟагаҩыс дыҟан; 1991-1992 шш. рзы - ақ. Тҟәарчал азауад «Радуга» аконструктортә биуро аҟәша деиҳабын; нанҳәамза 14, 1992 ш. Тҟәарчалтәи аибашьцәа ргәыԥ далалеит: аштаб аофицерс дыҟан, 3-тәи аполк, 1-тәи абаталион аштаб деиҳабын, иара убри абаталион командирс даман, Мрагыларатәи афронт 3-тәи аполк аштаб аиҳабы иҳаҭыԥуаҩыс дыҟан; Аибашьраҿы дхәын. 1994 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрра аҟнытә Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә еиҿкаарақәа рахь диаган; 2001 ш. ихҵан арратә хьӡы - «аполковник»; 2006-2008 шш. рзы - Аԥсны Арбџьармчқәа аԥшыхаратә усбарҭа аштаб хада деихабын; 2008-2011 шш. рзы - Аԥсны Атәылахьчара аминистрра акадқәа рыҟәша еиҳабыс дыҟан; 2011 ш. - Аԥсны Арбџьарчмқәа рштаб хада аиҳабы иҳаҭыԥуаҩыс аус иуан; 2012 ш. - Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 2013 ш. - «Ичыдоу азинмчы змоу ацҳаражәҳәаҩ» ҳәа адипломатиатә хьӡы ихҵан; 2018 ш. - Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ичыдоу анапынҵақәа рзы ацҳаражәҳәаҩ. Иара убри ашықас азы Аԥсны Атәылахьчара аминистр иабжьгаҩыс аусура далагеит.




#Article 61: Асҭамыр Борис-иԥа Ҭарба (168 words)


Асҭамыр Борис-иԥа Ҭарба (; , Аҟәа) — аԥсуа политик.

Диит Аҟәа ақалақь ажьырныҳәамза 13, 1961 шықсазы; 1978 ш. далгеит  Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи 10-тәи абжьаратә школ; 1983 ш. далгеит Аҟәатәи асубтропикатә нхамҩатә институт, атехнологиатә факультет; 1983-1985 шш. Аррамаҵзура дахысуан СССР аҳәаахчаратә архаҭақәа рҟны; 1985-1986 шш. аус иуан Лыхнытәи ачаи фабрикаҿы; 1986-1988 шш. аус иуан Аԥснытәи АССР Аминистрцәа р-Совет агро-ааглыхратә ҟаша ареферентс; 1988-1990 шш. КПСС Аԥснытәи аобком аҟны ааглыхреи, атранспорти, аимадареи ринструктор имаҵура ҭыԥ ааныкылон; 1990-1992 шш. анаплакратә усура инапы алакын; 1992 ш. лаҵарамза инаркны аус иуан Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩс; 1992 ш. нанҳәамза инаркны арратә хәҭаҟәа рҟны агәыԥ, анаҩс авзвод командаҟаҵаҩыс дыҟан; 1993 ш. хәажәкырамзазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Ахеилак Апрезидиум Ақәҵарала Аԥсны ашәарҭадара амаҵзура актәи маӡаныҟәгаҩс дыҟаҵан; 1993-1999 шш. аус иуан Ашәарҭадара амаҵзура актәи маӡаныҟаҩс дыҟаҵан; 1993-1999шш. аус иуан Ашәарҭадара амаҵзура ахантәаҩыс; 2000-2003 шш. аус иуан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара ахеилак амаӡыныҟәгаҩс; 2003-2004 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-Министр актәи ихаҭыԥуаҩс дыҟан; Нанҳәамза инаркны жьҭаарамза 2004 ш-нӡа Аԥыза-Министр инаԥынҵақәа наигӡон; 2005 ш. инаркны иахьанӡа А-Телеком анаплакы адиректор ихаҭыԥуаҩс аус иуеит.




#Article 62: Анқәаб, Артур Мирод-иԥа (115 words)


Артур Мирод-иԥа Анқәаб (; , Гагра ақ.) — аԥсуа политик.

Диит цәыбррамза 19, 1969 шықәсазы ГаГра ақалақь аҿы; 1986 ш. далгеит Лӡаатәи абжьаратә школ; 1989 ш. дҭалеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҭоурых-зиндырратә факультет, дагьалгеит 1996 ш-зы; Иара убри ашықәсазы рҵаҩыс аусура далагеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Университет аҿы; 1997-2003 шш. азындырратә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс дыҟан; 1999-2000 шш. аус иуан Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрра иаҵанакуа иҷыдоу амилициатә школ, азеиԥш маҭәарқәа ркафедра еиҳабыс; 2000-2003 шш. аус иуан Аԥсны Аҩныҵҟатәи Аусқәа Рминистрраҿы усҭҵааҩыс; 2006-2007 шш. ҟарачы-Черкессктәи Апедагогигатә институт аҿы аспирант-ҭҵааҩыс дыҟан; 2011-2015 Аҟәатәи абжьаратә милициатә школ еиҳабыс дыҟан «амилициа аподполковник» ичын ала; Иахьатәи аамҭазы аус иуеит «Урыстәылеи Аҳәаанырцәтәи атәылақәеи рҭоурых» иаҵанакуа акафедра арҵаҩы-еиҳабыс; Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, ахымхәацәа II ргәыԥ даҵанакуеит.




#Article 63: Какалиа, Асҭамыр Валери-иԥа (123 words)


Асҭамыр Валери-иԥа Какалиа (; , Аҟәа ақ.) — аԥсуа политик.

Диит Аҟәа ақалақь  ажьырныҳәамза 4, 1976 шықәса рзы; Далгеит Аҟәатәи ажәибыжьтәи абжьаратә аурыс школ; 1993 шықәсазы Гәдоуҭатәи Арратә горнизон аҟны арра дахысуан; Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет арратә кафедра даушьҭымҭоуп; 1998 ш. ААУ аекономикатә факультет далгеит; 2001 ш. далхәын Кәыдрытәи аиҩхааҿы имҩаԥысуаз аоперациа; 1994-2000 шш. рзы — Аҟәатәи аџьармыкьаҿы гәаҭаҩыс аус иуан; 2000-2001 шш. рзы Жәларбжәаратәи агәыҳалалратә еиҿкаара «Премиер-Уржанс» аҟны англыз бызшәа ахьынтәи аурысшәахь еиҭагаҩыс аус иуан; 2002-2003 шш. рзы аус иуан Москватәи акомерциатә фирмақәа руак аҟны; 2004-2005 шш. рзы Аԥсны Ахада иадминистрациа аиҳабы ицхырааҩыс дыҟан; 2005-2007 шш. рзы Апсны Аҳәынҭқарраҿы Ареспублика Преднестровиа Ахаҭарнакс дыҟан; 2007-2015 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Аҵәахырҭатә банк аревизорс аус иуан; 2010-иахьа уажәраанӡа хаталатәи усдкылаҩыс дыҟоуп. Аҭоурыхтә роман «Гостеприимное море» авторс дамоуп.




#Article 64: Барцыц, Аслан Чачурбеи-иԥа (148 words)


Аслан Чачурбеи-иԥа Барцыц (; , ақыҭа Ԥсырӡха, Гәдоуҭа араион) — аԥсуа политик.

Диит лаҵарамза 22, 1965 шықәсазы Гәдоуҭа араион Ԥсырӡха ақыҭан; 1982 ш. аҵара иҵон Афонҿыцтәи абжьаратәи ашкол; 1982 ш. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университет азындырратә факультет дҭалеит; 1983-1985 шш. аррамаҵура дахысуан Асовет Ар Аҳаирхьчаратә архәҭақәа (АХЬА) рыҟны; 1989 ш. ауниверситет далгеит аҭоурыхи ауаажәларрадырреи рырҵаҩ изанааҭ ала; 1989-1990 шш. аус иуан изанааҭ ала Гәдоуҭа араион Орџьоникиӡетәи абжьаратәи ашкол аҟны; 1990 ш. аус иуан Аҟәа ақ. Абзазаратә маҵзура аусбарҭа (АМА) акомҿартә еилакы зхы иақәиҭу амаӡаныҟәгаҩыс; 1992 ш. Аԥсуа гвардиа Афонҿыцтәи аҟәша далан; 1992-1993 шш. Афон-Ешыратәи абаталион далан; Анаҩс, Гәымысҭатәи афронт аԥшыхареи аконтрԥшыхареи рыҟәшаҟны дыҟан; 2000-2001 шш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура 10 аҟәшаҟны аус иуан; 2001-2005 шш. нӡа Аԥсны Жәлар Реизара — Апарламент IV ааԥхьара адепутатс дыҟан; 2017 ш. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада и-Администрациа Аексперттә усбарҭа аиҳабыс дыҟан; 2018 ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Аԥсны Ареспубликатә политикатә партиа «Аԥсны жәлар ракзаара Афорум» хантәаҩра азиуеит.




#Article 65: Лакоба, Нестор Аполлон-иԥа (2618 words)


Нестор Аполлон-иԥа Лакоба (, Лыхны ақ., Сухумский округ, Кавказское наместничество, Российская империя — , Қарҭ) —

Диит 1893 ш-зы лаҵарамза 1 Лыхны ақыҭа аԥсуа нхаҩы иҭаацәараҿы. 

Лыхны ақыҭа аҭоурыду змоу ақыҭақәа иреиоуп, ишьҭоуп иара Кавказ ашьхақәа ирыгәҭылак Гәдоуҭа ақалақь иацәыхарамкәа. Ақыҭа агәҭа ишьҭоуп аҭоурых ҭыԥ Лыхнашҭа ҳәа изышьҭоу. Ари ашҭаҿы имҩаԥыргон жәлар рныҳәа дуқәеи аспорт хәамаррақәеи. Адәы аҿықәахьшәа игылоуп аҭоурых ду змоу ахани, ижәытәӡоу ауахәамеи.

Лыхнашҭа шаҳаҭра ауеит Аԥсны имҩаԥысуаз ареволиуциатә хҭысқәа. 1921 шықәсази 1924 шықәсази имҩаԥысит ҭауади-аамсҭеи рыри анхаҩцәеи реидыслара. Ақәгылара мҩаԥысгоз ириблит Аԥсны аҳ иҩны. Уи ашьҭыхь ас еиԥш иҟаз ақәгылара, аҳ ир шьоурак аҳасабала ақыҭақәа жәнакы ықәыблаа иргеит.

Иҿыцу иӷәӷәоу ажәлар рықәгылара ари ашҭаҿ имҩаԥысит рашәарамза 1866 ш-зы. Уи ақәгылара зыхҟьаз Аԥсны Аҳцәа анхацәа ирзаԥырҵаз ареформа акәын. Лыхны иалагаз ақәгылара аамҭа кьаҿла Аԥсны зегь атәнатәит. Аха мчыла аиҟарамра иҟаз иахҟьаны анахаҩы жәлар рзы ишьаарҵәырахеит.

Лыхнашҭа иагәалашәоит анхаҩыжәлар реизара ду Аԥсны Асовет мчра аиааира анага. Ари ақыҭаҿ акәын ажәлар рымч аԥхьа иахьӡрыжәхоз.

Имаҷҩым ажәлар ахақ әиҭра рзаагаразы зшьа каҭәаз аихаҩцәа.

Ҭауади–аамстеи рнапала, Нестор Лакоба иаб иира хымз шагыз дҭахоит. Уи еиҳарак дзыхҟьа Лыхны жәлар реизараҿ дықәыгылан ҭауади-аамсҭеи дырҿагылан дцәажәеит. Иара уи акәхеит Аполлон Лакоба игәаӷ кны, ҽнак дҽыжәлан дшаауаз ицәҵагылан иихсеиуеит.

Иаб данҭаха ашьтахь, ус аҭагылазаашьа шыцәгьазгьы иҵегь иуадаҩуахеит Ҷнаагә ҳәа хьыӡшарас измаз Нестор Лакоба иҭаацәараҿы. Нестор иан хаҩк асабицәа знапаҿы инхаз аԥсҭазаара лҽаҵалырхомызт. 

Нестор Лакоба иан гәаҟрыла дҭалҵоит Афон Ҿыцтәи ауахәаматә школ, қьырала ахә шәаны. Уи ашколаҿ Нестор аҵара иҵон ҩышықәса, анаҩсан далган Лыхнытәи ҩышықәсатәи абжьаратә школ.

Ахәыҷы изҳауан агәырҵҟәыл бзиа иманы. Бзиа дырбон иаҩзцәа хәыҷқәа, рыԥсы ихҭнырҵон. Есааира ахәмарра, агәырӷьара, ашәаҳәара, ашьхаруаа рыкәашара ахьыҟаз дрылукаауан урала рацәак еҩцамыз аҷкәын хәыҷы.

Ишеилкааз ала, ауахәама иара иамаз аҵараиурҭақәеи ҭауиди-аамсҭеи ракәын изыдҳәалаз. Аха аҵара иалгар зҭахыз анхаҩыжәылар ауахәаматә ҵараиурҭа ирҭахы-ирҭахым иалгар акәын. Ауахәаматә ҵараиурҭаҿ аҵара зҵоз Н. Лакоба зынӡа ихахьы иааигомызҭ иара дазкхарц.

Ауахәама апапцәа изларбоз ала Аԥснытәи рааӡаҩ зыӡаскгьы ауахәаматә шәыҟәқәа дрызҿлымҳаӡа. Уи иԥсшьараамҭаз дриԥхьон игәрагагам алитература, иара убас иҩызцәагь адиԥхьалон уи аҩыза алитература даргьы аԥхьаларц. Лакоба ус акәзаргьы ибзиан иааирыԥшуан идыррақәа дыӡҭаз аганахь ала. Аҵара даналга ашьҭахь аучилишьа ахылаԥшьҩы дихәцәажәеит абас: Воспитанник Лакоба имеет склонность к чтению недозволенных в училище книг, ведет дружбу со старшекласниками.

Нестор асеминариаҿ аҵари иҵонаҵы, уи хәқәкыла аус рыдиулон ареволиуциатә дунеихәаԥшра.

Асеминариаҿ аҵара зҵоз раԥшьгалара еҿыркааит алитературатә кружок. Гәынамӡарыла асеминариа аиҳабы дақәшаҳаҭхоит акружок аиҿкаара иаԥшьыргаз, аха уи игәы иаанагон ҭауади-аамсҭеи ирыдҳәалоу, урҭ ирҿагылоу алитература иаԥхьом ҳәа. Аха уи ус акәмызт. Лакоба егьырҭ акружок алахәцәеи алитература рхы иадырхәон даҽа хырхарҭак ахь. Акружок алахәцәа ирлас-ирласны еизалон, нас рызегь еицаԥхьалон.

Маӡала ирылаҿиоз ареволиуциатә абрашурақәеи апрокламациақәеи. Изныкымкәа Нестор иҩызцәа рыгәҭа иаартны ирылаиҳәон иреволиуциатә хәаԥшракәа.

Ари апиродаз зыԥсы ҭоу зегь, имшәоз, ԥхьа ицоз зегь ианырхәаҽуа аамҭан. Абри аҩыза ареволиуциатә семинарқәа усҟантәи аамҭаз, иара убас абри аҩыза ахыбра аҵаҟа есааира аҳцәа рҟынтәи хылаԥшра згымыз азы, иԥжәаз бзарбзанк иаҩызан.

Ирылагеит арепресиақәа. Шықәсык анаҩысан Нестор иҵара данҭала ашьаҭахь, уи аҵара зциҵоз агәыԥы иареи асеминариа иҭырцоит имҩаԥыргоз ареволиуциатә агитациа иахырҟьаны уаҳа даҽа семинарик ахь ирыдрымкыло.

Абасала адоуҳатә ҵара нхеит ишьҭахьҟа. Аамҭа шьҭа шьҭахҟа иузыргьежьуам. Арԥыс қәыԥш иҿаԥхьа иаатуеит аԥсҭазаара ҿыц, уи аԥсҭазаара ҿыц азықәԥара аҭахын хамеигӡарада ажәлар алашьцара излаз ралгараз, иара убри иԥсҭазара зегь азикуеит.

Нестор Лакоба ирласны еилашуаз аԥсҭазаара далашҩкуеит, баҭымтәи аусуцәеи ақыҭауааи гәахәарыла дыртәыртәуеит. Аамҭак ала уи агимназиатә курсқәа дырхысуеит, иара убас иазыҟаиҵоит ахәыҷқәа аиҵыбыратә класс аҭалараз. Аха Нестор иоуаз иулафахәы изхомызт азыҳәан ақалақь анапхгараҿ асанитар агентс аусура далагеит. Ари иусура иабзоураны инарҵаулан еилыкаауа далагеит аусусцәа рыԥсҭазаара. Уи ирлас-ирласны дырҭаауан аусуцәа ахьынхоз аҩныжәқәа, амла иаго, ахьҭа иакуа ахьыҩназ. Аусуцәа русуратә мшы азауадқәарҿ 9-10 сааҭ еиҳан иахәҭаз анорма аҵкьыс. Урҭ реиҳабацәа русуцәа ргәхьаа ркымызт. Нестор агәра ганы дыҟан аусуцәа рычҳара шхажжыло, уи ареволиуциа дуахь шикылнаго.

Аусуцәа аԥхьагылаҩцәа рыцхыраарала Нестор Лакоба 1911 ш-зы абольшевикцәеи иареи реимадара дацхраауеит.

Нестор иара иаҵкыс қәрала еиҳабацәа иҩызцәа, уи игәарҭеит илаз ахақәиҭра агәазыҳәара. 

Нестор раԥхьаӡа акәны иоуеит адҵа аусуцәа ркварталқәа дрылаланы ареволиуциатә бзьыцқәа рыларҵәара ажәлар рыԥсҭазаара аиӷьратәраз.

Н. Лакоба ирлас-ирласны акварталқәа дырҭаауан. Уи иара дахьнеиуаз зегь гәыкала дрыдыркылон.

Атәыла зегь иатәнатәуа иалагеит иҿыцу ареволиуциатә ҿиара. Уи еиҳа-еиҳа аҽарҭбаауан Баҭым ажәлар рыбжьареи, уи аҵакыреи рҿы. Аусуцәеи анхаҩцәеи рықәԥара ԥышәак иаҩызан. Уи ақәбара активла зҽалызкааз дреиуан Н. Лакоба.

Абольшевикцәа аус руан иуадаҩыз аҭагылазаашьаҿ. Аҳцәа рполициа ршьапы иқәнарҟьеит ареволиуционерцәа реиҿкаара аԥшаараҿ. 1913 шықәса аламҭаз урҭ ирылшеит аилкаара аԥсуа-пропагандист дыӡусҭоу, урҭ аиҿкаарақәа хадара азызуа, уи агентцәа дзлагәарҭаз ала ирлас-ирласны анхаҩцәа рыҩнықәа рахь дырҭаауан, аха ииашоу амотив рымамызт ахара идҵан дызларкыша. Аха зегь дарароуп уи иԥхьаны иарҳәоит „хатә гәԥхарала“ Баҭым ақалақьи уи анҭыҵи аанижьырц.

Изҿыз аус хымбгаларц азы Нестор дызлаз ареволиуциатә еиҿкаара азин ирҭоит Аҷариа аамҭала ааныжьра. Уи аамҭа ақьаҿла гижуеит иқыҭа гәакьахь.

Иахьабалакынтәи иааиуан ажәабжьқәа ареволиуциатә ҵысрақәа ирыдҳәалаз, аха Нестор усда дтәамызт. Уи иӡбоит Нхыҵ Кавказ Грозны ақалақь ахь дцарц. Грозны анефт усуцәеи Баҭымтәи аусуцәеи дареи акыр еизааигәан. Ара дахьыҟази, Аҷариатә усуцәеи реиԥш ареволиуциатә мчы ӷәӷәа рылан.

Нестор Лакоба иԥсҭазаараҿ иҿыцу мҩахеит ахақәиҭраз ареволиуциатә қәԥара.

Грозны ақалақь Н. Лакоба иреволиуциатә усурақәа ирыциҵоит. Абольшевиктә пропаганда имҩаԥыргоз алыҵшәа бзиа аман. Аамҭа кьыҿла Лакоба аҭыԥантәи абольшевиктә организаци алахәылацәа даарылукаартә дҟалеит.

Аамҭак иалакӡаны уи иҵара аус адиулон, ихы данақәиҭаз аамҭа арҵага шәҟәқәа дрытгәалан иҽазыҟаиҵон Грознатәи ареалтә училишьа аҭалараз, дагьҭалоит ақәҿиара бзиақәа иманы 1915 шықәсазы далгоит, уи дшалгаз алагь иоуеит аршаҳаҭга. Н. Лакоба аҵара изырҵоз арҵаҩы М. Ф. Гутовски уи зкны иҩуан:

Нестор Лакоба иҭахын иҵара иацииҵарц; 1916 ш-зы уи дцоит Харковҟа, дагьҭалоит Харковтәи ауниверситет аиуристтә факультет. Аха Лакоба иҵара далгаратә аҭагылазаашьа имоут. Ицон аибашьра. Атәылаҿ аҭагылазаашьа акыр ибааԥсхеит, аӷарра иаӡҳауа иалагеит. Ауниверситетаҿ аҵара зылшоз акры змаз астудентцәа ркәын. Аха Лакоба имамызтуи аҩыза алшареи ацхыраареи. Убри инахырҟьаны иҵара ааныпсны дхынгқуеит Аԥсныҟа.

Актқәи Аџьынџьтәылатә еибашьра алакамҭаз аҳратә напхгара ирыӡбоит ргәы иҭакны ирымаз аус анагӡара, урҭ ирҭахын аамҭа кьаҿк иалагӡан аихамҩа аҟаҵара. Ашьхарахьи агаҿа иаԥну адгьыл аҟьаҟьареи рҿы ицәырҵуа иалагеит аԥшьааратә партиа, урҭ инарышьҭархханы иааит аихамҩа аргылаҩцәа. Арҭ ауаа еиҳараҩык иааз Урыстәыла агәыберниа иаҵанакуа ақыҭақәа иатәын, уи аамҭаз урҭ даара амла иаго акәын ишыҟаз.

Аха дара еиҳарак изхыццакуаз изҿоз аргылара акәын — уи иаман ихадароу арратә дҵа, ихадароу астратегиатә ҵакы.

Амшын Еиқәа амагистралцәа имаҷымқәа амал азоурижуан. Аха уи зҿыба иҭалоз аргылара иалахәыз ачынуаа ракәын. Еизган ирымаз аусуцәа аулафахәы имаҿӡан акәын ишроуаз, уи ала рхы рзныҟәылго аҟынӡа.

Аԥсныҟа ихынҳәыз Н. Лакоба баша ус дымтәаӡакәа дҭалоит Гудоуҭатәи амҩыаргыларатә техникум. Уи ирласны драбадыруеит аусуцәа, иара убас уи еиликаауеит урҭ рџьеи, рыԥсҭазаареи аҭагылазаашьа. Уи ара амҩаргылаҩцәа рыгәҭа далагоит иреволиуциатә усура.

Уи иҩызцәа абольшевикцәеи иареи ааԥсара ҟамҵакәа аус рыдырулоит ихьыҟоу ақыҭа акәша-мыкәша.

Гәдоуҭатәи абольшевикцәа ирыман иалукааша ареволиуциатә традициақәа. Гәдоуҭатәи аусуцәа ргәаларшәарҿ макьана иҟан уажәаабыкьа ареволиуциатә қәԥара аепизодқәа, урҭ акәԥарақәа мҩаԥысуан зҽалызкааз ареволиуционер Серго Орџьоникиӡе инаԥхгаарала. Раԥхьатәи аурыс револиуциа 1905 ш-зы иҟаз аамҭаз Гәдоуҭа ақалақь иалукааша аҭыԥ аанакылеит Аԥсны ареволиуциатә хҭирскуарз Гәдоуҭа ақалақь аҿы имҩаԥган жәлар реизара, уи аизара хыркәшан ажәлар гәахәарылеи напеинҟьареи рыла ирыдыркылаз С. Орџьоникиӡеи иажәахә ала. Уи нырҵәан абарҭ ажәақәа рыла. «Долой Николая кровавого!». Ақалақь иацәыхарамкәа Орџьоникиӡе еиҿкаарала усҟантәи аамҭаз аус зуаз ақалақьтә хәышәытәрҭарҿ фелшырс, имҩахигеит абџьар ақәылаҩҿцәарз. Иара абраҵәҟьа иҟалеит ажәылара ақыҭауааи аҳ ирхәҭеи рыбжьара.

Арҭ агәалашәартә мшқәа, макьан ишшыз инхон ажәлар рхаҿы. Иагьа ажәлар аџьамыӷәа цәгьа иҭадыргылозаргьы, урҭ гәҭакыс ирыман Гәдоуҭатәи абольшевикцәа даҽазнык абольшевиктә хеидкыла аиҭарҿиара.

Жәабранымза 1917 ш-зы Аԥсны Урыстәыла ареволиуциа аиааира шагаз ала ажәабжь шаараҳаз еиԥш, Гәдоуҭатәи абольшевикцәа Н. Лакоба инаԥхгарала, Серго Орџьоникиӡеи ирылаиҵаз атрадициақәа дриқәныҟәаны ареволиуциатә активтә масса еиҿыкааит. Абольшевикцәа ажәлар идеилдыркаауан Ленин илозунг «Вся власть — советам!» ҳәа изҳәоз аҵакы, уи ахықәкы ажәлар рзы.

Хәажәкыратәи амшқәа рзы 1917 ш-зы Лыхны еизеит хыԥхьаӡара рацәала анхаҩжәлар. Ари аизара дуаҿ иаадырԥшит ажәлар ирымаз агәынамӡара аамҭала Аԥсны иахгылаз анахгаҩцәа рахь. Урҭ аменшевикцәеи ҭауади-аамсҭеи ракыра ишрҵагылозгьы, аизара алахәылацәа далырхуеит Гәдоуҭатәи ацуҭа ахылаԥшҩыс Нестор Лакоба. Ари алхра башамызҭ. Уи идгылаҩцәа ирбарҭан, зегь реиҳа иӷәӷәаз, ажәлар рыгәрагара иаԥсаз аӡәы шиакәыз.

Аменшевикцәа аесерцәа, ажәлар зыргуаҟуаз амучацәеи Гәдоуҭа аҵахара иаҿын. 1917 шықәса ԥхынгәазы амчра зегьы инасуеит Асовет еидгыла рышҟа.

Уи амшқәа рзы Н. Лакоба есааира ажәлар рыгәҭа дубар алшон. Изныкымкәа дықәгыланы дцәажәахьан ажәлар рыгәҭа, ииҩуан ихьыԥхьаӡара рацәала ареволиуциатә прокломациақәа.

Арҭ апрокломациақәа ихадоу ароль нарыԥӡоуит ажәлар ареволиуциатә гәалаҟазаара ашьҭыхра. 

Н. Лакоба иахьабалак пропагандак аҳасабла ихы иаирхәон Ленинтәи аидеақәа. Ааԥынраз 1917 ш-зы ауахәама аусуцәа еизеит Аҟәа ирыӡбарц азҵаара аԥсуа уахәамақәа рхҳәаақәҵараз. Ари аизараҿ зынӡак изыԥшуамызт Лакоба, аха иара днеит ари асездарҿ, уи уа иқәгылараҿ дызааҭгылаз анхаҩы жәлар ргәы иҵхоз азҵаарақәа ракәын, уи асиездаҿ згәы намӡоз рыбжьқәа ишаҳауазгьы иқәгылараҿ ирылеиҳәеит: «Трудовой народ, — сказал он, должен теперь сам разрешить наболевшие вопросы, а здесь попы, вкупе с людьми в чинах, орденах и аксельбантах, говорят за него и говорят от имени народа».

Н. Лакоба иқәгылара жәлар реизара ақыҭа Петропавловск аҿы иҟаз гәахәарыла ажәлар ирыдыркалеит. Уи уа иҟаз аамҭалатәи анапхгара ирықәқҽит имҩаԥыргоз аусқәа ажәлар ирҿагылоз.

Ареволиуциа алагамҭа инаркны аӷацәа иаразнак еилыркааит Лакоба иалукааша аӡәы шиакәуз, убри инаркны иалагеит аикәым иӡҳәара Петропавловск иҟаз аизараҿ аамсҭацәа рхаҭарнакцәа, аҩныҵҟатәи аусқәа еилзыргоз рҿы ацәгьа рҳәоит Лакоба аҳцәа дырҿагылан агиҭациа ҟарҵоит ҳәа. Ацәгьаҳәаҩцәа иазыԥшын Лакоба ахара анидырҵо ҳәа. Аха усҟан Лакоба Гәдоуҭатәи архәҭа ргарнизон ахаҭарнакцәа идгылеит, ирҭахы-ирҭахым аменшевикцәа Лакоба доурышҭыр акәхоит.

Октиабыртәи ареволиуциа аиааира анага ашьҭахь, Аԥсынгьы ирласны иатәнатәит. Аԥсны абольшевикцәа еиҳагьы рыҽдырӷәӷәоит, ирыԥшаауа иалагеит рыцәгьа зҳәоз. Аменшевикцәа ракәзар урҭгьы ирылшоз ҟарҵон, абольшевикцәа  рымч еиҵаҟьарҵаз.

Нестор Лакобеи, Ефрем Ешбеи, Гьаргь Атарбекови, егьыр акомунистцәеи иҟарҵоит жәлар рмобилизациа абуржуаз-меншевикцәа жәлар сыргәаҟуаз ирҿагыларц. Лакоба дықгылеит аԥхьахә ажәахә иманы Гәдоуҭатәи адгилҭыԥаҿ, иара убас Гагратәи Гәмысҭатәи аҭыԥқәарҿы. Арҭ аизарақәа имҩаԥысуан даара иӷәӷәаны. Аменшевикцәа аизара зҽалазырхуз зҭахыз урҭ ықәцан анхаҩцәа рыла ирԥхашьаны.

Ари апириудаз Н. Лакоба ибзоуралеи, иара убас гәыԥҩык аԥсуа револиуцианерцәеи: И. Варданиа, М. Гобечиа, В. Агрба, игьырҭ Гәдоуҭа иаҵанакуаз ақыҭақәеи рыцхырааралеи еиҿкаан ареволиуциатә анхаҩытә дружина «Кьараз» захьӡыз.

Гәдоуҭа иахьаҵанакуа зегьы ареволиуциатә мчрақәа ирацәаны иҿион, еиҳагьы иӷәӷәахон. Ареволиуционерцәеи ажәлари еиҳа-еиҳа еизааигәахон. Кавказтәи аҿацәтә комитет РСДРП аԥсуа абольшевикцәа имҩаԥыргоз аус шынарыгӡоз ала иажәахә аҿы дазааҭгылеит абас: 

Ленин изнамиа ирҳаракны икны, Аԥсны абольшевикцәа рҽазыҟарҵон зегь реиҳа иӷәӷәаз ажәыларахь.

Атәыла анҭыҵгьы аҩныҵҟагьы аҭагылазаашьа цәгьа иҟаз Асовет республикаҿы, Қырҭтәылатәи аконтрреволиуцианерцәа ирҭахын ишалҵлакгьы рыҽдрӷәӷәарц. Аусуцәеи анхаҩцәеи аҭагылазаашьа абзиа аиҿкаараз изықәгәыӷуаз анҭыҵ ацхырааҩцәа рымаӡамызт. Иага ус иҟазааргьы, урҭ ргәы камыжькәа рҽазыҟарҵон акәгылара ҿыцахь.

Аԥсны абольшевикцәа русура асааира анапхгара рырҭон Урыстәылатәи Анапхгара Акомитет асоциал-адемократиатә апартиа аусуцәеи абольшевикцәеи, иара убас урҭ анапхгара арҭон Аԥсны аҿацәтәи акомитет РСДРП.

Абольшевиктә агитаторцәа еиԥымҟьарада имҩаԥыргон ареволиуциатә усурақәа Аԥсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҿы. Еиҳа-еиҳа ажәлар рацәаҩны урҭ ргәыԥ иалалон. Аԥсуа қыҭақәа рҿы имҩаԥысун амассатә ҽеидкылара анхаҩцәа рыбжьара. Ақыҭауаа зегь реиҳа игәыақәаз, згәы кыдгылахьаз ракәын уахь иалалоз, урҭ рус ҭауади-аамсҭеи адгьылқәа ирадкылан иҟаз рымыхра акәын. Ақыҭақәа ԥыҭк уи аус рнапы адыркхьан.

Ари аус анхаҩжәлар рҿы ареволиуциатә ҵысрақәа анкылараз аменшевикцәа 1918 ш-рзы имҩаԥыргеит «анхаҩцәа рсезд» ҳәа хыс иаҭаны аизара.

Абольшевикцәа ракәзар ари аизара рхы иадырхәарц рыӡбоит рганахь ала. Урҭ ари аизарахь ирышьҭуеит абольшевикцәа рхаҭарнакцәа, хадара азиуан Н. Лакоба. 

Уи ажәа ихахьы иганы, дықәгылеит абольшевикцәа рыпрынцып хьчо, уи иаанагон азакәан Асовет жәлар рахь ииасыр шакәыз, ари алаҳәара заҳаз аменшевикцәа реиҳарааҩык амца рыцранаҵеит. Анхаҩыжәылар рхаҭарнакцәа ажәлар еизаны иахыҟаз ахан аҿы, зегь инецҿакны идгылҵны ицеит.

Иага ус иҟазаргьы аменшевикцәа иаартны ирҿагыло ишалагазгьы, абольшевикцәа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхомызт. Анхаҩыжәлар рхаҭарнакцәа иаартны рҽаӡыҟарҵо иалагеит, аменшевикцәа рдиктатура аҿагылараз.

Убри инаҿырԥышны аиааиразы ажәылара аҽазыҟаҵара Қырҭтәыла инаркны Аахыҵ Кавказ зегьы абольшевикцәа имҩаԥыргеит Аԥсны аҽазыҟаҵаратә практика. 1918 ш-зы жәабранымзеи хәажәкырамзеи рзы. Уи аплан аус адулан Баҭым имҩаԥгаз аилацәажәараҿ. Ари аилацәажәараҿ иалахәын: Мамиа Орахелашвили, Ефрем Ешба, Нестор Лакоба, Гьаргь Аҭарбеков. Иара убас иалахәын Амшын Еиқәа афлот ареволиуцианерцәа. 

Аилацәажәараҿ иӡбан ирласны Аԥсныҟа абџьар рзыргарц. Уи абџьар Баҭымынтәи Аԥсны аларҵәараз ихахьы игеит Н. Лакоба.

Азеиԥш наԥхгара рзы Гәдоуҭа иҟаз ақәгылара анапхгара азиуан аповстантә оргкомитет ахада Ефрем Ешба. Уи дагьалалоит ажәлар рдружина «Кьараз». Гәдоуҭатәи аҭыӡҭып ареволиуцианерцәа ргәыԥ иалалеит аҭыԥантәи агарнизон асолдатцәа. 

Анхаҩыцәеи аусуцәеи рыдружина аҿиара иалагеит Гәымысҭатәи аҭыӡҭыԥаҿ. Зегь реиҳа иҳароку ареволиуциатә мчра аадырԥшит Бабышьра, Дранда, Ҵабал ақыҭақәа рытружиникцәа. Дранда аҳабла еиҿкаан арра-ареволиуциатә комитет, уахь рҽаладирхәеит Г. Аҭарбеков, С. Кухалеишвили, Е. Дамениа, И. Жваниа иара убас егьырҭ абольшевикцәа. Мархьаултәи апартизантә отриад напхгара азнуан С. Кардава, Ҵабалтәи - Х. Керселиан.

Самырзаҟантәи аҭыӡҭыԥ маӡала анаԥхгара азиуан зегь реиҳа имцаԥшьыз ареволиуцианер П. Даӷәыз.

Зегь реиҳа ареволиуцианерцәа активтә усура мҩыԥыргон Гагра ақалақь. Араҟоуп зегь раԥхьатәи ажәыларақәа ахьымҩаԥысуаз хәажәкырамза алагамҭаз. Рыцхыраараз иааит Шәачатәи Гәдоуҭатәи ареволиуциатә атриадқәа. Ари ажәылара иҟаз Гагра ақалақь аҿы аиааира агеит. Асовет мчра. Анагҵком ахантәаҩыс ара далхын абольшевик аусуҩ Д. Смирнов.

Ари аиааира инашьҭарххан Гәдоуҭатәи аҭыӡҭып исоветтәны иҟалеит. Хәажәкырамзазы Гәдоуҭа ақалақь еиҿкаан аусуцәеи ақыҭауааи рхеидкыла. Уи ахеылак иалалеит: В. Агрба, И. Варданиа, И. Чамагуа, П. Козловски и. уб. иҵ.

Н. Лакобеи Константин Инал-иԥеи рнаԥхгарала агварди каԥшь ротриад рҿынархеит Аҟәа ашҟа. Аменшевикцәа рхадара Аҟәа иҟаз иаргәаҭеит даара. Усҟанәи ахадараҿ иҟаз Чхиквишвили Аԥсны иҟаз аҭагылазаашьа иахҟьаны Қарҭҟа адырра ҟаиҵоит, ареволиуционерцәа рымч еиҳа-еиҳа аӷәӷәахара ишаҿу, дара аменшевикцәа рымчра даара ахьысҳахара ишаҿу.

Абольшевикцәа аменшевикцәа ирыжәылеит ҩ-хырхарҭак рыла. Аҩадатәи ахырхарҭа Гәдауҭатәи аповстанциатә отриад акәын, аҩбатәи-аладатәи Гәымысҭатәи аҭыцҭыԥ акәын.

Хәажәкырамза 26 ацәлашамҭаз (аҿыцтә стиль ала мшаԥымза 8 рзы) 1918 ш-зы Аҟәа ахы иақәиҭтәын аменшевикцәа рҟынтәи. Убри аҽны иара убас абраҵәҟьа еиҿкаан Аԥсны Арра — револиуциатә комитет. Аревком ахантәаҩыс далхын Ефрем Ешба, уи ихаҭыԥуаҩыс — Нестор Лакобеи, Гь. Аҭарбеков.

Асовет напхгара мшаԥымза 11 рзы Самурзаҟан ауездаҿ ишақрӷәӷәан. Кәыдринтәи ауиезд макьаназ аконтрреволиуцианерцәа рнапаҵаҟа инханы иҟан, аха арагьы урҭ рымч акәадахара иаҿын, ақыҭанхаҩцәа зегьы рҽеиҿкааны урҭ амч еиқәаҵәақәа ирҿагылеит.

Ареволиуцианерцәа иргаз аиааира ашәага-зага иҭагӡаны ацуҭа ахылаԥшцәа алырхуан, ақыҭа аревкомцәа Асовет ҳәынҭқарра арыӷәӷәаразы.

Арҭ амшқәа зегь реиҳа иухамышҭуа фырхаҵаратә мышқәан. Ицәгьаз аҭагылазаашьаҿ Аԥсны Арра — револиуциатә комитет хықәкыс ирымаз аконтрреволиуцианерцәа рықәгара адагьы, урҭ гәҭакыс ирымаз аҿыц ажәлар рхәынҭқарра ашьақәгылара акәын.

Урҭ амшқәа ирызкны Н. Лакоба игәлашәараҿ иҩуан «Первой нашей задачей было наладить аппарат власти изъять активных меншевиков, обложить контрибуцию местную буржуазию. Все мы проделали, руководствуясь декретами Совета Народных Коммисаров...».

Арҭ ацәаҳәа кьаҿқәа рыла игылоит Аԥсны абольшевикцәа, раԥхьатәи ажәылара дуахь Асовет хадарахь ашьақәргылырыз.

Арратә-револиуциатә комитет иразнак ииасуеит аԥсуа жәлар рыз ихадраз адгьыл азҵаара. Еиҿкаан адгьылқәаархратә комитет. Аекспломатортә хәҭа иазыԥшын ашәахтә ахашәалахәы ақәҵара. Аревком идикылоит ақәҵара иахьынӡаалшо аусусцәа ихымԥадатәиу фатәылеи жәтәеилеи реибыҭара. Анхааҩцәа ақәгыӷуан анҳарҭаҭыԥ шроуаз. Ашьақәгылара иаҿын анхацәа рзы амедицинатә цхыраара. Асовет адгылаҩцәа иара убас иаҿын акультуратә ргыларақәа рус.

Аменшевикцәа рполициа ианеиԥхьытта ашьҭахь, урҭ рус ииасуеит ареволиуциатә хылаԥшра ашҟа, иара убас иаԥҵан Аԥснытәи агвардиа ҟаԥшь, дара рхатә комиссариат хылаԥшрала. Ари акомисарат еидкылахь иалан К. Инал-иԥа, С. Қардаа, Х. Керсалин. Аревком лымкаала илаԥш ахын ареволиуциатә аибашьратә мчра, урҭ еибыҭашеи, уи идыкылеит ихадароу аус урҭ рыӷәӷәараҿы, ирҿагылоз амчра иаҿыԥшнры Кәыдрытәи аҩхааҿ инханы зҽеизкылан иҟаз. 

Мрагыларатәи-ареволиуциатә комитет ихадароу усны ирыԥхьаӡон аинтернационалтә ааӡара аџьажәлар рыҩныҵҟа иҟаларҵ азы. Арҭ аиҿкааратә усурақәа ажәлар рылааӡараҿ иҟаз иабзоураны, Аԥсны иқәынхоз амилаҭқәа рҽеидкыланы Аԥсны Асовет мчра аиааира азааргеит. Аҵыхәтәаншәа Н. Лакоба иҩуан: «Нигде, как в Абхазии, так отчетливо выражается солидарность между различныими национальноствами. Здесь история не знает даже серезных национальных трении, несмотря на самые серьезные старания националистов, царских чиновников, грузинских меньшевиков и. т. д.»

Зегь реиҳа ихадароу аҭыԥ Асовет мчрааҿы апролетариатә амилаҭ еидгылараҿ инаакылеит Аревком иҭнажиз агазетә «Сухумская правда», раԥхьатәи аномер акьыԥхь абеит мшаԥымза 16 1918 ш-зы.

Раԥхьауатәи аиааира амш инаркны Аԥсны амилаҭ рацәа рҽеидкылан ақыҭа-нхамҩ аҿиара амҩа ианылоит.

Аԥсны ақыҭанхамҩа усуцәа иахьыуарымноз Нхыҵ Кавказтәи абольшевикцәа рыцхраауан. Н. Лакоба Арратә-револиуциатә комитет адҵала дышьҭын Нхыҵ Кавказка абџьари афатә-ажәтә ануразы. Уи аус аганахь ала Аԥсны абольшевикцәа рыцхьырараз акыр аус адиулеи усҟантәи аамҭа Нхыҵ-Кавказ иҟаз Серго Орџьоникиӡе.

Аха икәыҟныз Асовет республика иамамызт уи аҟара алшара Аԥсныжәлар иахәто ацхыраара рыҭараҿ, урҭ ааха ӷәӷәа роуит аҭыԥантәи аконтрреволиуцианерцәеи аҳәаа нарцатәи антервенцәа рҟынтә. Асовет бираҟа 1918 ш-зы. Аҟәа иахагылан 40 мшы. Самурзаҟантәи аҭыӡҭыԥ Асовет напхгара 6-мыз аҽынакылеит.

Иазгәаҭатәуп Арратә-револиуциатә комитет иҟоуп иҟанаҵаз агхақәа. Асовет напхгара ианышьақагыла Аҟәа аревком ажәы ақалақь Дума ахы иақәҭимтуеит, урҭ ицәыҵатәан Асовет ҳәынҭқарра еиҵарҟьаша аусқәа мҩаԥыргон. Аповстантә гәыԥқәа ирымаз аҭагылазаашьа бзиа рхы ҽеила ирзамырхәеит, урҭ Кәыдры ахықәа аҟынӡа ианнеи, уаҳәа рҽеиҵырымхуеи. Урҭ Қырҭтәыла амчреи дареи имахәҭаз еидхәаламызҭ. Н. Лакоба аҵыхәтәан иаӡгәеиҭон: «Борьба в Абхазии в 1918 году была очень жестокая, и победа 18-го года нам достались не без величайших жертв, ошибок, отступлений и т. д.».

Аконтрреволиуционерцәа Кәыдры аҭыӡҭыԥаҿ рымч арыӷәӷәара, ҽиҳа аҽеизакра рылшеит. Меншевикцәа рыр иннакылеит аҿыӷәӷәарҭа Кәыдры ахықә арымарахь зегьы. Урҭ архәҭарқәа еиҳа-еиҳа рхьыԥхьаӡара иазҳауан.

Лаҵарамза 10 рзы зегьы ншьаарҵәхеит. Иалагеит аибашьра, ицон иара 7-мшы. Ареволиуцианерцәа рыр иахьынуарымиоз рхы фырхаҵарыла иаардыԥшуан, аха имхьаҵыр алымшеит. Иалагеит хыԥхьаӡара рацәала ауаа рыхҵареи, анхаҩыцәа рырхәреит. Аха ус иага иҟазаргьы, анхаҩыцәа реибыҭраҿ аконтрреволиуционерцәа имҩаԥыргон аҿагыларақәа. Абольшевикцәа ргеиԥхьаркыт, ирылагеит маӡалатәи ареволиуциатә ҽазыҟаҵарақәа.

Аамҭалатәи аҵахара Асовет ҳәынҭқарра Аԥснытәи аповстанциатә отриад Н. Лакоба драԥхьагылан Ҟәыбина ауаҩс иухыҵны Белореченсктә аремон Маиҟәаԥ ақалақь агамахь ихьаҵуеит. Ара арҭ ргәыԥ иалахәын Кавказтәи Ар Ҟаԥшь ргәыԥ, ари агәыԥ рхы иамегӡаӡақәа имҩа ԥыргон ареволиуциатә жәларқәа.

Ҭагалан 1918 ш. Н. Лакоба игәыԥ иманы ддәықәлоит Аԥсныҟа ашьхақәа дырхыҵны. Ари ахыҵра даара ицәгьахоит. Иахьабылак иахьынтәиуааз иалшон азахәмга дрыниар. Иҟамызҭ аамҭак аидысларақәа аныҟамыз. Аха урҭ ирыдыз апартиатә дҵа фырхаҵарыла инагӡан.




#Article 66: Џьонуа, Ҷиҷико Михаил-иԥа (103 words)


Ҷиҷико Михаил-иԥа Џьонуа, Ҷыҷыкәа Махаз-иԥа Џьонуа (, Ҷлоу ақыҭа, Очамчыра араион) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1915 шықәса лаҵарамза 27 рзы Ҷлоу ақыҭа Аимара аҳабла Очамчыра араион. Иԥсҭазаара далҵит 1975 шықсәса жәабранмза 25 рзы. Джуп Аҟәатәи ашьхараҿ - ашәҟәыҩҩцәеи ауаажәларратә усзуҩцәеи рпантеон аҿы.

Аимара аҳаблаҿтәи алагарҭатә школ даналга, аҵара иҵон Аҭара, Мықә ақыҭақәа рҿтәи ашколқәа рҟны. 1931 шыҟәсазы Ҷиҷико Џьонуа дҭалоит Аҟәатәи адрамстудиа. Уи даналга, ԥыҭраамҭак Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҿы актиорс аус иуан.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵит 1936 шықәсазы.

Далахәын аҩбатәи адунеитә еибашьра.

Ҷ. Џьонуа акыр шықәса ажурнал «Алашара» редактор хадас даман.

Ипоезиатә рҿиамҭақәа рзы иаҭәашьан Ареспублика аԥсны Д. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭәарратә премиа.




#Article 67: Гочуа, Михаил Дмитри-иԥа (116 words)


Михаил Дмитри-иԥа Гочуа (1906, Лӡаа ақыҭа, Гагра араион) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1906 шықәсазы Гагра араион Лӡаа ақыҭа. Дҭахеит 1941 шықәса ииул мзазы, Севастополь ахьчараан аӷа итанк иҽаҵаижьт. 

Аҵара иҵон Лзаатәи ашкол аҿы, нас — Калдахәара, 1925 шықәсазы Аҟәа аԥсуа педагогтә техникум дҭалоит, уи даналга, 1931 шықәсазы Москва Аредакциатбә-ҭыжьырҭатә институт даанахәоит, аха шықәсык аиҳа дызнымхкитб дычмазаҩхеит, дхынҳәнуит Аԥсныҟа. 

Ашьҭахь, 1936 шыкәсазы иҵара ацҵаразы ҩаԥхьа Москваҟа дцоит, дҭалоит Ажурналистика аҳәынҭқарратә  институт, аха абраҟагь деиҭачмазаҩхоит, шықәсык ашьҭахь Аҟәеҟа  дыхнымҳәыр амуит. 

Гочуа аус иуан аиҭагатә жанр аҿгьы. Уи иеҭагамиҭақәоул А. М. Горки ирҿиамҭә «Аҵан» /иеиҭаргеит В. Маани иареи/, Лопе де Вега иаԥҵамҭа «Лауренсиа», Дырмит Гәлиеи иареи еицеиҭаргеит «Игор ир ирыхҳәаау ажәа»/ иҭыҵит 1940 шыкәсазы/; ашәҟәы ианиҵон жәлар рҿаԥыцтә хәамҭақәа.




#Article 68: Бганба, Шамил Камшьышь-иԥа (113 words)


Шамил Камшьышь-иԥа Бганба (, Аацы ақыҭа, Гәдоуҭа араион — ) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1921 шықәса ажьырныҳәамза мзазы Аацы ақыҭа Гәдоуҭа араион. Иԥсҭазаара далҵит 1949 шықәса хәажәкырамза 25 аҽны.

Иқыҭаҿтәи алагарҭатә школ даналга иҵара наигӡоит Н. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи аԥсуа бжьаратә школ аҿы. Далахәын аҩбатәи фдкнеитә еибашьра.

Акьыԥхь аҿы дцәырҵқеит а-40-тәи ашықәсқәа рҽеиҩшамҭаз.

Абзиабара ааԥын. Аҟәа, 1976 шықәса.

Аинтерес аҵоуп, иаҳәоугьы рацәоуп Ш. Бганба иԥсҭазаара даналҵшаз, Сталин иаамҭақәа раан ииҩуаз /иаагоуп апоет изатә арзив аҟнытә/:

Абри сансзхәыцуа, сгәы маҷхоит, анахаҩы иахьатәи иҭагылазаашьа хьаазгоит, исылшагәышьозеи акәымзар, иксуа, исышьҭуа, изыҩуа сгәы ахымло, сгәы сзақәымкуа иҟалоит. Абас иҟоу ақыҭа ԥсҭазаара иазкны аҩымҭақәа рыҩра, ибзиоушәа излаҟам ала рааԥшра - сара сымч рықәхом, уахь исыхо агәаҳәара сымам.»




#Article 69: Гогәуа, Алықьса Ноча-иԥа (110 words)


Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа (, Гәыԥ Аџьамазра аҳабла, Очамчыра араион) — Аԥсны ашәҟәыҩҩы.

Диит 1932 шықса хәажәкырамза 15 рзы Гәыԥ Аџьамазра аҳабла Очамчыра араион.

Алагарҭатә ҵара далгеит Аџьамԥазратәи ашкол аҿы, быжь класск - Тҟәарчалтәи быжьшықәсатәи  ашкол аҟны, абжьаратә - Ԥақәашьтәи абжьаратә школ аҿы.

Аус иуан Аԥсны ашәҟәҭыжьырҭаҿ, редактор еиҳабыс, ажурнал «Алашара» аҭакзыԥхыкәу амазаныкәгаҩыс, ажурнал «Амцаба» аредактор хадас (1975-1989).

Ипрозатә рҿнамҭақәа рзы иаҭәашьоуп Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсны аҳәынҭқарратә премиа.

Аҩра далагеит дышмаҷыз, раԥхьатәи иажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз. Ақьыԥхь аҿы дцырцыт поет ҳасабла, 1948 шықәсазы.

Инеицылкылан апрозатә жәар аҿы аус шыуагьы, апоезиа шизааигәац изааигәоуп, ипрозаҿ акырџьара апроза-поезиа ҳәа изышҭоу аҳарҳәара амоуп. Антологиаҿ иарбоугьы, хадарала, А. Гогәуа ипрозатә, идраматургиатә рҿиамҭақәа рахьтә иаагоуп.




#Article 70: Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауахәама (271 words)


Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауахәама () — Аԥсны XI ашәышықәса иаҵанакәа архитектуратә баҟа, иргылоуп Елыр ақыҭа агәҭаны. Абжьарашәышықәсақәа рхаан абри ауахәама акрызҵазкәаз ақырҭуа ныҳәарҭан. Илԥшааху изышәареи зхаҭабзиара ҳараку анагӡашьеи абзоурала, абри ауахәама абжьарашәышықәсақәа раан Қырҭтәыла арегионқәа рсахьаркыратә хырхарҭақәа аазырԥшуаз аргыламҭақәа иреиуп. 

Елыртәи ауахәама апсидала ихыркәшоу нышьк змоу аргыламҭоуп, аҩадахьалагьы, аладахьалагьы, мраҭәашәаралагьы еиуеиԥшым аамҭақәа рзы иҟаҵаз аҿаԥшьқәа амоуп. 

Мрагыларатә фасад аҿы иаанханы иҟоуп ажәытә ақырҭуа адҩылақәа зну 5 хаҳәк, абарҭ адҩылақәагьы XI ашәышықса I аԥшьбрак иаҵанакәеит. XVII ашәышықәсазы Леван II Дадиани Елыртәи ауахәама ирҽеит. 1730 шықәсазы Одишьтәи аҭауадра иажәылаз аҭырқәцәа ауахәама рыблит. Убасҟан ауахәама аҭыӡсахьақәагьы блит, аха, Одишьтәи аҭауадцәа ирласӡаны ауахәама еиҭашьақәдыргылеит. Имереҭи аҳцәа Алеқсандр V-и (1720-1752), Соломон I-и (1752-1784), Давиҭ II-и (1784-1789), Соломон II-и ( 1789-1810) хәыда-ԥсада ауахәама иарҭеит амаҵзуҩцәеи анаделқәеи. Абаҟа шьаҭанкыла ирҽеин XIX ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рзы. 

Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауахәамаҿы анцәаимаҵзура амҩаԥгара иаҟәыҵит 90-тәи ашықәсқәа индыркны. 
Елыртәи ауахәама анашьоуп Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус. 

Аноминал: 10 лари 

Акапан: 28.28 гр., адиаметр: 38.61мм,

Аилазаара: Ag.925 ,

Ахаҭабзиара: иреиҳаӡоу –„Proof“

Ахыԥхьаӡара: 1500 цыра. 

Амонета ҟаҵан 2009 шықәсазы, финлиандиатәи ахьирҭаҿы.

Аҭыжьра алимит: 3000 цыра. 

Амонета адизаин авторцәа роуп: Мамука Гонгаӡеи (ареверс) Ҭемур Аԥхаӡеи (аверс).

Аверс: адизаин акомпозициа ҟаҵоуп XVII ашәышықәсазы италиатәи абер Кристофоро де Кастелли иҟаиҵаз асахьақәа рышьаҭала – Гьаргь ацқьа ихьӡала Елыр иҟоу ауахәамеи, Елыр ақыҭеи, аҽыуааи. Акомпозициа ҟаҵоуп Кавказтәи ашьхақәа рқәыԥшылараҿы. Амонета ладахьтәи арӷьаратәи ахәҭаҿы ақәҩыра ҟаҵоуп „Қырҭтәыла“ , иара убас, аҭыжьра ашықәс «2009».

Ареверс: Амонета агәҭаны иарбоуп Гьаргь ацқьа иуахәама уажәтәи аԥшра, уи ҟаҵатәи агәҭанытә ахәҭаҿы римтәи ацифрала иарбоуп ауахәама аргылара арыцхә «XI–ашә.». Амонета агежь армарахьтәи ахәаҭаҿы иануп аноминал азгәазҭо ацифра «10»-и ақәҩыра «лари»-и, агежь хыхьтәи ахәҭаҿы иаарԥшуп Қырҭтәыла агерб, уааҵәҟьа иҟоуп ақәҩыра «Елыр».




#Article 71: Гәдаатәи Барбара ацқьа луахәама (497 words)


Гәдаатәи Барбара ацқьа луахәама () — Аԥсны Гәдаа ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан VI-VII ашәышықәсқәа рзы. Галтәи амуниципалитет Гудава ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа, Аԥснытәи автономтә
республика, Қырҭтәыла. Ауахәама игылоуп Самурзаҟано адәкаршәраҿы, Оқәым аӡиас
армарахьтәи аҟәараҿы, 12 км. рыла Гал ацентр иацәыхараны. Ауахәама иргылан VI-VII
ашәышықәсқәа раан.

Аҭоурыхтә қыҭа Гудава иаҵанакәан уажәтәи ақыҭақәа: Актәи Гудава, Аҩбатәи Гудава,
насгьы, Гудава иаҵанакәаз егьырҭ атерриториақәагьы. Археологиатә ажрақәа раан
ишеилкаахаз ала, Гудава аҭыԥаҿы ауаҩы дынхон ҳ.ҟ. II азқьышықәса анҵәамҭазгьы.
Икьасоу антикатә аамҭеи заатәи абжьаарашәышықәсақәеи рзы Гудава - ақалақь еиԥшыз
еиланхарҭан, абаа ала ихкаан, Зигани, ма Зегани ахьӡала акәын ишдырыз. Гудаватәи абаа
Римтәи аимпериа иатәыз Азиа Маҷ апровинциақәа рыхьчаразы идыргылоз абаақәа
рсистема иаҵанакәан. Аҵарауаа ргәаанагарала, ажәытә абырзентәи византиатәи аепоха
ахыҵхырҭақәа рҿы зыӡбахәы ҳәоу Зигани абаа Гудаватәи абаа акәзар ҟалап. IV
ашәышықәса анҵәамҭеи V ашәышықәса алагамҭеи азы араҟа игылан римаа ркогорта. VII-
X ашәышықәсақәа раан Лазика иҟаз аепископцәа ртәарҭақәа ԥшьба руакы Гудава акәын
иахьыҟаз. Ишдыруа ала, X ашәышықәса 70-тәи ашықәсқәа рзы иеиду Қырҭтәыла
раԥхьатәи аҳ Баграт III Багратиони Гудаватәи аепископцәа ртәарҭа иаԥыхны, уи
ацынхәрас Бедиа акафедра ҿыц аԥиҵеит : „Бедиа атәарҭа иргыланы, аепископцәа
ртәарҭас иҟаиҵеит, Гудава аепископцәа ртәарҭа ацынхәрас“. Мрҭашәаратә Қырҭтәыла
арегион аҿы Константинопольтәи ауахәама Гудава асахьала ашьаҭа ӷәӷәа аман, убри
аҟынтә, Гудаватәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхра - иаку ақырҭуа афеодалтә монархиа
арӷәӷәареи азеиԥш ақырҭуа уахәаматә политика аԥҵареи акәын изызкыз. Убри анеҩс,
Гудава, ауахәаматә центр ду аҳасабала, ахыҵхырҭақәа рҿы иарбам. 1654  шықәсазы
Арханџьело Ламберти еиқәиршәаз ахсаалаҿы иарбоуп „Гуда“.
Гудава абааи егьырҭ аҭоурыхтә ргыламҭақәеи рхыжәжәарақәа рылагьы иубарҭоуп
еиуеиԥшым аҭоурыхтә епохақәа раан абри ақыҭаҿы иакымкәа ауахәамақәа шыҟаз.
Иахьанӡагьы иаанханы иҟоуп азалтә хкы иаҵанакәа ауахәама ахыжәжәарақәа, уи
еиуеиԥшым аамҭақәа раан имҩаԥгаз аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рышьаҭа
анубаалоит. Азалтә хкы иаҵанакәа ауахәамақәа абжьарашәышықәсақәа раан ақырҭуа
ауахәаматә архитектуразы иҟазшьарбаган. Убри аҟынтә, аҭоурыхтә хыҵхырҭақәа
инрықәыршәаны, Гудаватәи ауахәама аргылара ҵаҟатәи архонологиатә аҳәаа VI-VIII

ашәышықәсақәа ракәзар ҟалап, насгьы, XV, ма XVI ашәышықәсазы ауахәама
аиҭашьақәыргылара аҭыԥантәи афеодал Рабаҭи иара иԥшәма Нугамҵиреи рыхьӡқәа
ирыдҳәалоуп, дара рыхьӡқәа ҳәоуп ауахәама аргыларатә ктитортәи адҩылаҿы.

Гудаватәи ауахәама агәараҿы аарԥшуп ахаҳәҟьаԥс, аҭыԥантәи ауааԥсыра ишырҳәо ала,
ари ахаҳә ауахәама аладатәи аҭӡамц ибжьаргылан. Ахаҳәҟьаԥс ҩ-хәҭакны ишоуп,
аорнаметқәа рыла иҩычоу арамка иҭаргылоуп. Уажәазы ахаҳәҟьаԥс С. Джанашьиа ихьӡ
зху аҳәынҭқарратә музеи ахаҳәтә баҟақәа рфонд аҿы ишьҭоуп. Ахаҳәҟьаԥс аорнаментқәа
рыла иҩычоу арамrа иҭагылоуп, уи ахаҳәҟьаԥс армарахьтәи аганахьалагьы инагӡоит, уаҟа
аџьар асахьа зныз абри аҩызаҵәҟьа арамка иҟан. Уи аиаалатә ган уажәгьы ахаҳә аҿы
иубараҭоуп. Инеизакны, ахаҳәҟьаԥс 3 хәҭак рыла ишьақәгылоуп, рыхԥагьы рҿы
адҩылақәа иҟоуп.
Аџьар асахьа ахьаныз актәи ахәҭа адҩыла:

Аџьар ҵаҟатәи ахәҭаҿы армарахьала иҟоу адҩыла:

Ахаааҳәҟьаԥс ақәыԥшылара агәҭаны иҟоуп 4 цәаҳәак рыла ишьақәгылоу, ақырҭуа
асомҭаврули адҩыла, уи хԥаны иҟоу аибаркыра акәыршоуп. Ахаҳә хыхьтәи арӷьарахьтәи
акәакь иԥҽуп, убри амшала адҩылаҿы графемақәак аԥхасҭа роуит:

Ишаԥу ала, ақырҭуа епиграфикатә баҟақәа рҿы, ауахәамақәа рфасадқәа рҿы, идуӡӡоу
ауахәаматәи иуахәаматәыми ахаҿқәа ргәаларшәаратәи, ауахәама зыргылаз аҟазаҩцәа,
мамзаргьы, аԥара алазҵаз ауааԥсыра ирызку ктитортәи адҩылақәа ҟарҵон, убри аҟынтә,
адҩыла атекст аҿы Рабаҭи, Нугамҵиреи, адикәани, аҭыԥантәи афеодалтә ҭаацәара
алахәылацәеи, адоуҳатә хаҿқәеи рыӡбахәы ҳәоуп, Гудаватәи ауахәама
аиҭашьақәыргылара аан, дара рхала, рыхьӡқәа камшәо иҟарҵон. Адҩылаҿы иарбоу аԥҳәыс лыхьӡ „Нугамҵира“ мраҭашәаратә Қырҭтәыла ономастиказы иҟазшьарбагоуп.
Адҩыла   XV ашәышықәса иаҵадыркуеит, ари адҩыла шьақәнарӷәӷәоит XV-XVI
ашәышықәсақәа рзы Гудаватәи азалтә уахәамаҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа
шымҩаԥгаз.




#Article 72: Диоскуриатәи абаа (203 words)


Диоскуриатәи абаа () — Аԥсны абаа Аҟәа ақалақь аҿы.

Римаа ари абаа дыргылеит ҳ. ҟ. I ашәышықәса II азбжазы, антикатә ақалақь Диоскуриа андыргыла ашьҭахь, ажәытә абаа ацәынхақәа рҿы. Убри аамҭа инаркны абааҿы итәан римтәи абаахьчаҩцәа. 131 шықәсазы, аинспекциатә ныҟәара аан, абааи римтәи агарнизони ибеит римтәи агеографи аҭоурыхҭҵааҩи Флави Арриан (95-175 шш.). Абаа VI ашәышықәсанӡа иҟан. Аҟәаратә цәаҳәа алаҟәреи амшын ахыҵреи амшала, уажәазы Диоскуриатәи абаа ацәынхақәа Аҟәатәи аӡыбжьахала аҵан ишьҭоуп. Абаа акырӡа идууп, уи аладатәи ахәҭа амшын иагахьеит. Агәара, инақәыршәаны, 1200 аквадраттә метр аҵакыра амоуп. Абаа еиҵыхуп мрагылара-мраҭашәратә хырхарҭала. Абаа акәакьқәа рҿы абастионқәа иҟан, ҩадахьала иҟаз ҩ-бастионк еиқәхеит. Аҟәа аԥшаҳәа андыргылоз, 1956 шықәсазы, амшын агаҿы иҟаз аҭӡамц ԥыржәеит, анеҩс, ԥыҭраамҭак ашьҭахь, алада-мраҭашәаратә кәакь аҿы иҟаз абастион аҿы аресторан «Диоскуриа» дыргылеит. Аԥшьбатәи абастион убас ихырбгалоуп, зынӡаск иубарҭам. Аԥшаҳәатә бульвар ари абаҟа ҩ-хәҭакны еиҟәнашоит. Абаа ахаҳәи акьыртә ршьышьи ирылхны иргылан. 1578 шықәсазы аҭырқәцәа абри ақалақь рнапаҿы иаарган, ирҿыцны абаа дыргылеит. XVIII ашә. анҵәамҭеи XIX ашә. алагамҭеи азы абраҟа иҟан аԥсуаа раҳцәа ртәарҭа. 1810 шықәса ԥхынгәы азы аурыс ар рдесант, абаа иажәылан, акыраамҭа абомбақәа аларыжьуа, рнапаҿы иааргеит. Убасҟан абаа аурыс архәҭақәа ргыларҭаны иҟалеит. Аурысцәа абаа азкызаара рыԥсахит. XX ашәышықәса актәи аԥшьбарак азы абаа абахҭа аҳасаб ала рхы иадырхәон. Уажәазы абаа аҭӡамцкәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, зыԥшра ҟамҵакәа аконсервациа рзутәуп.




#Article 73: Дихазургатәи Барбара ацқьа луахәама (348 words)


Дихазургатәи Барбара ацқьа луахәама () — Аԥсны Дихазурга ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан XIII ашәышықәсазы.

Галтәи амуниципалитет Дихазурга ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа, Аснытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Ауахәама игылоуп Аԥсны ашьхарԥы алада-мрҭашәаратә ахәҭаҿы, Игры аӡиас арӷьаратәи аҟәараҿы.  Уажәазы ахыжәжәарақәа мацароуп иаанханы иҟоу. Аҭыԥантәи ауааԥсыра уи Барбара ацқьа луахәама ҳәа иашьҭоуп. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылеит Григол Галатозҭухуцеси.
 

Асоветтә аамҭақәа раан, 1952 шықәсанӡа, Дихазурга „Диди Ҵиԥуриа“ ахьӡын. Абри ахьӡ змоу ақыҭа ҳԥылоит италиатәи акатолик миссионер Арханџьело Ламберти иажәабжьқәеи, иара убас, зыӡбахәы ҳәоу ауахәама аҟазаара иазгәазҭо 1654 шықәсатәи ахсаалеи рҿы. 

Ишубарҭоу ала, икьасоу абжьарашәышықәсақәа раан Ҵиԥуриа иҟан еиду 2 уахәамак, XVII ашәышықәса агәҭаны абарҭ ауахәамақәа Одишьи аҭауадраҿы изуаз акатолик - мессионерцәа рнапаҿы иҟан. 

XX ашәышықәса алагамҭазы абри ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы аадырԥшит ахаҳәҟьаԥсқәа ҩба, руакы аҿы адҩыла иҟан. Москватәи археологиатә уаажәларра Кавказтәи аҟәша адҵала, Дихазургатәи ауахәамеи адҩылеи ибеит зыӡбахәы ҳәоу ауаажәларра Кавказтәи аҟәша алахәыла, аҭоурыхҭҵааҩы  Мосе Джанашвили. Иара идыррақәа рыла, ауахәама игылан Игры арӷьаратәи аҟәараҿы, аҭауад Миқаиа инадел аҿы, ауахәама аҳаш шкәакәа иалхын. Дихазургатәи ауахәама азалтә еиҿкаашьа змаз ныҳәарҭан, уи аҭыԥантәи афеодалцәа раҳҭынратә ауахәама акәын. 

Дихазургатәи ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ахаҳәқәа руакы аџьар асахьа ануп, уи армарахьтәи аган аҿы аиаалатәи ахагәҵәытәи аганқәа рыбжьара ахаҵа ифигура аарԥшуп. Ахаҵа инапқәа аџьар ашҟа ирхоуп. Аџьар ахагәҵәытә аган аханы иубарҭоуп мхедрули анбан ала иҟаҵоу адҩыла, уаҟа  Дихазургатәи ауахәама зыргылаз Григол Галатозҭухуцеси иӡбахә ҳәоуп. Аханатә ари адҩыла ииаашамкәа иаԥхьеит, аха, Мосе Джанашвили атекст аҵакы ириашаны,  икьыԥхьны, X-XI ашәышықәсақәа иаҵаиркит. Убри ашьҭахь, Григол Галатозҭухуцеси иҟаиҵаз адҩыла иӡит, анеҩс, еиҭах аарԥшын Дихазургатәи анышәырҭраҿы. 1992-1993 шықәсқәа рзтәи еибашьранӡа адҩыла зныз ахаҳәҟьаԥс ишьҭан Галтәи атәылаҿацәҭҵааратә музеи аҿы. 1980  шықәсазы адҩыла атекст икьыԥхьны, XI ашәышықәса аҵаиркит Валери Силагава. Апалеографиатә ганахьала, Григол Галатозҭухуцеси идҩыла мраҭашәаратә Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҿы мхедрули анбан ала иҟаҵоу адҩылақәа рыгәҭа зегьы раасҭа зықәра дуу адҩылақәа иреиуп. 
Аҭоурых-хыҵхырҭаҭҵааратә анализ инақәыршәаны, адҩыла аҵакы аҟынтә ишубарҭоу ала, XI ашәышықәсазы Дихазургатәи ауахәама иргылеит Қырҭтәыла аҳратә абыргцәа ринститут ахаҭарнак, аҳәынҭқарратә архитектор Григол Галатозҭухуцеси. Дихазургатәи ауахәама аԥхьанаттәи аргылара XI ашәышықәса ала иҳәаақәҵазароуп. 

Аҭоурых-хыҵхырҭаҭҵааратә анализ инақәыршәаны, адҩыла аҵакы аҟынтә ишубарҭоу ала, XI ашәышықәсазы Дихазургатәи ауахәама иргылеит Қырҭтәыла аҳратә абыргцәа ринститут ахаҭарнак, аҳәынҭқарратә архитектор Григол Галатозҭухуцеси. Дихазургатәи ауахәама аԥхьанаттәи аргылара XI ашәышықәса ала иҳәаақәҵазароуп. 




#Article 74: Хыхьтәи Бирцатәи Димитри ацқьа иуахәама (132 words)


Хыхьтәи Бирцатәи Димитри ацқьа иуахәама () — Аԥсны, Хыхьтәи Бирцха ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылан XX ашәышықәсазы.

Архитектуратә баҟа Аҟәатәи амуниципалитет Аҩадатәи Бырцхә ақыҭан, АԤснытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Ауахәама иргылан XX ашәышықәсазы. 
Азалтә ргыламҭоуп. Абри аҭыԤаҿ Ԥаса ажәытә уахәама иҟан, уи еилаҳан, иахьазы иаанханы иҟоуп даҽа ҭыԤк ашҟа ииагоу ауасхыр афрагментқәа мацара. Аргыларатә маҭәахәы аҳасабала ахархәара аман аҳаши аиларшьышьи. Ажәытә уасхыр аҿы ауааԤсыра азалтә уахәама ҿыц дыргылеит. Уи аныҳәарҭа аҩада-мрагыларашҟа ахы рхоуп. Азал аплан аԤшьганеиҟараиаша иеиԤшуп. Алада-мраҭашәарахьтәи аган аҟынтә аҩналарҭа амоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рҿы  иеиԤынгыланы, ахыргьагьатә аԤенџьырқәа акака иҟоуп. Аныҳәарҭеи азали еиҩшоуп аҿаԤсазаҵәытә аганқәа рыла, уи адашьма азал адашьма аҵкыс 2 ҿаԤсак рыла ишьҭыхуп. Аныҳәарҭа апсида ирҟьаԤсуп. Апсида агәҭаны архитравтә аԤенџьыр иҟоуп. Арелиеф алада-мрагыларахь анаара амоуп, убри аҟынтә, абри аганаҿы ауахәама адыргылоуп аиха-бетонтә маркацқәа. Ауахәама ҩ-ганктәи ахыб амҿтәы конструкциа иқәгылоуп. Ауахәама ашифер ала ихыбуп. 




#Article 75: Пицундатәи ауахәама (219 words)


Пицундатәи ауахәама ()  —  Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа, Анцәадзыхшаз лыхьӡала Пицунда иҟоу акафедралтә уахәама. 2006 шықәса Абҵарамза 7, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан. 

Пицундатәи ауахәама, Аԥсны атерриториаҿы иҟоу егьырҭ абаҟақәа реиԥшҵәҟьа, ақырҭуа архитектура аҿиара еилымшәо иалахәып, аха, Қырҭтәыла егьырҭ абаҟақәа иреиԥшымкәа, византиатәи абаҟақәа рыԥшра амоуп. 
Ҭеимураз Батонишвили иҳәамҭала, Пицундатәи ауахәама аҭыԥан игылан ивериелаа рныҳәарҭа хада — Боча ауахәама. 
 

 

Пицундатәи ауахәама еиҵыху аџьар-ҟәырҕтә ргыламҭоуп, мраҭашәарахьала анартекс амоуп, мрагыларахьала - апсидқәа хԥа. Нартекс Қырҭтәыла шамахамзар иуԥылом, аха апсидқәа иҟазшьарбагоуп заатәи аамҭа иаҵанакәа ақырҭуа уахәамақәа рзы, еиҳа ихьшәаны, мраҭашәаратә Қырҭтәылазы, лымкаала, Амшын Еиқәа агаҿы иҟаз ауахәамақәа рзы (аха, мрагыларатә Қырҭтәылагьы џьара-џьара иуԥылоит). Аҟәарҷ аныҳәарҭа аҭӡамцқәеи ашьаҟақәеи ирықәуп. Пицундатәи ауахәама иргылоуп инеимда - ааимданы еиқәҵоу иаалоу акьырмыт ҟьаҟьеи ахаҳәи рыла. Аҭӡамцқәа хыхьтәи рыхәҭеи, абарабани, уи иақәу аҟәарҷи ишеибгоу акьырмыт иалхуп. Ауахәама аҩнуҵҟала асахьақәа рыла иҩычан, аха  XIX ашәышықәса  II азбжазы ишьыхны, ашәыга шкәакәала ишәны, ажәытә сахьақәа иқәхны, аханатә сахьала ирҩычит. Нартекс алада-мраҭашәаратә кәакьаҿы адамра иҟоуп, уи аҭӡамцқәа ирну асахьақәа  XVI ашәышықәса  II азбжа иаҵанакәеит.  1966 шықәсазы ауахәама аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥган. Аусурақәа раан ауахәама аинтериер аҿы аарԥшын ажәытә сахьақәа рфрагментқәа, урҭ адамра аҭӡамцқәа ирну асахьақәа рхаантәи аамҭа иаҵанакәеит. Ауахәама акәша-мыкәша игылоуп еиуеиԥшым аргыламҭақәа, ауахәама хәыҷқәа, аныҳәарҭақәа, аберҭыԥ анхарҭа, анхамҩатә ргыламҭақәа. Аберҭыԥ ԥасатәи ахыбра I аихагылаҿ еиҿкаауп Пицундатәи амузеи. Пицундатәи ауахәамаҿы анцәаимаҵзура мҩаԥысуа м, уи аконцерттә зал ҳасабала рхы иадырхәоит. 




#Article 76: Ганҭиади иҟоу аныхабаа (137 words)


Ганҭиади иҟоу аныхабаа ()  — Аԥсны VI ашәышықәса иаҵанакәа, х-апсидк змоу абазилика ауп, аҳабла Ганҭиади аҟны игылоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, ианашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа.
 
Иргылоуп  VI ашәышықәса  I азбжазы. Аха, VIII-X ашәышықәсақәа рзы изныкымкәа аханатә ирҿыцны идыргылахьан. 1576 шықәсазы, османаа ржәылара аан, аныхабаа хәҭала ибгеит. Аԥсни, инеизакны Қырҭтәылеи ажәытәӡатә ақьырсиантә уахәамақәа иреиуп. Уажәазы абазилика ахыжәжәарақәа мацароуп иаанханы иҟоу. 

Аспециалистцәа ргәаанагарала, абазгаа ақьырсианра анрыдыркыла, византиатәи аимператор Иустиниан I-тәи абазгаа рзы Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа ииргылеит. Абазилика ахыжәжәарақәа рҟны аарԥшуп амармалташь шкәакәа иалхны иҟаҵаз, абырзен нбанла адҩыла змаз анышәынҭратә хаҳә афрагмент. Ишубарҭоу ала, ари ахаҳә аҭыԥантәи идинтәымыз ма адоуҳатә хаҿык инышәынҭра акәын. Адҩылара ҟаҵоуп VI ашәышықәсазы. Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа х-нышьк змоу абазилика ауп. Уи усҟак идуумыз, аформа иаша змаз аҳаштә блокқәеи акьырмыт ҟьаҟьеи рыла иргылан. 
 

 
Ҵандрыԥшьтәи аныхабаа Қырҭтәыла амилаҭтә ҵакы змоу абаҟа астатус анашьоуп. 




#Article 77: Драндатәи ауахәама (710 words)


Драндатәи ауахәама () — Аԥсны VI-VII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ақырҭуа архитектуратә баҟа.  Игылоуп Гәылрыԥшьтәи амуниципалитет Дранда ақыҭан, Кәыдры аӡиас арӷьарахьтәи аҟәараҟны, ахәы ихықәгылоуп. Вахушьти Батонишьвили абри ауахәама иазкны иҩит: 
 

Ауахәама аџьар-ҟәырӷтә ргыламҭоуп. Иргылоуп ақьырмыт ала, ахаҳә дуқәа бжьаҵаны. Елементқәак рыла Мцхеҭа иҟоу Џьвари иеиԥшуп. Ауахәама аплан ааизакны агәҭаҟны аргьыжь зҭаҩу аџьар аԥшра амоуп. Аџьар амаӷрақәа рыхԥагьы акәакьҭаиаша аформа рымоуп. Акәакьқәа рҿы иҟоу ауадақәа агежь аформа рымоуп. Ауадақәа аладахьалагьы аҩадахьалагьы аҩналарҭақәа рымоуп. Адәахьала аџьар акәакьҭаиаша аформа амоуп, мрагыларахьала иадуп агежьбжатәи аԥсидқәа. Акупол ала ихыркәшо абарабан аркақәа рыла иеидҳәалоу ашьаҟақәа ирықәууп. Ахыб хыхьтә ахәҭаҟны иҟоуп 30 рҟынӡа макьаҭ, урҭ рхронологиатә ҳәаа  IV-VII ашәышықәсақәа рыбжьара иҟоуп. Амакьаҭқәа рыҭҵаареи Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама арыцхәи иазԥхьагәаҭаны, ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI-VII ашәышықәсақәа. Иара, аргыларатә техникеи, аплани, апропорциақәеи рыла византиатәи архитектуратә баҟақәа иреиԥшуп, аха уи аргылаҩ, ақырҭуа архитектуразы иҟазшьарбагоу елементқәакгьы ихы иаирхәит, лымкаала, Мцхеҭа иҟоу Џьвари ауахәама еиԥшҵәҟьа, араагьы мрагыларахьтәи афасад аҿы иҟоу аԥсидқәа рыхԥагьы ахыргьагьақәа рыла еидҳәалоуп. 

Аурыс ҭҵааҩцәа агәаанагара рыман абри ауахәама, инақәыршәаны,  VIII–X (Павлинов), XI (Толстои, Кондаков) ашәышықәсақәа рзы иргылан ҳәа. Ауахәама архитектура анализ азызуз Г. Чубинашвили игәы ишаанаго ала, уи Мцхеҭа иҟоу Џьвари (VI ашә.) иеиԥшуп, аха, лабҿаба иубарҭоуп уи ақырҭуеи авизантиатәи асахьаркыратә еилементқәа ахьеилоу ихьыԥшым аргыламҭа шакәу. Абри агәаанагара дақәшаҳаҭуп Л. Рчеулишвилигьы. Е. Ноибауер игәаанагарала, ауахәама IX ашәышықәса иаҵанакуеит. Аҟазараҭҵааҩы Русудан Меԥисашвили лгәаанагарала, ауахәама иргылан VIII ашәышықәса анҵәамҭазы, „аԥсуаа“ раҳра анышьақәгылоз аамҭазы. М. Хотелашвилии А. Иакобсони ргәаанагарала, ауахәама андыргылаз арыцхә ашьақәыргыларазы аҵакы ду амоуп уи аргыларатә материалқәа иреиу, V–VI ашәышықәсақәа ирыҵанакуа акерамика. Убри аҟынтә, М. Хотелашвилии А. Иакобсони ауахәама  VI ашәышықәсазы иргылан ҳәа ирыԥхьаӡоит. И. Берӡенишвили игәаанагарала, ауахәама иргылан VI ашәышықәса анҵәамҭеи VII ашәышықәса алагамҭеи азы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы ауахәама аргылара аамҭас иԥхьаӡоуп VI–VII ашәышықәсақәа. 
 

Ауахәама аргылара иазкны ахыҵхырҭатә дыррақәа ҳамам, ҿырҳәалатәи аилыркаарақәагьы иҟам. Драндатәи ауахәама Анцәа Иан лыхьӡала иргылан. X-XVII ашәышықәсақәа рзы аепископцәа ртәарҭас иҟан. Драндатәи аепископцәа ртәарҭа ашьаҭаркра „аԥсуаа“ раҳраҿы имҩаԥысуаз ареформа иадҳәалоуп, X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ишьақәгылеит ҳәа иԥхьаӡатәуп. Ҳара иаадыруа раԥхьатәи Драндатәи аепископ иоуранагӡара XI ашәышықәса актәи ахԥарак иаҵанакуеит. Драндатәи аепархиа аԥшьаҩыхада Драндатәи ҳәа ахьӡ алоуп  дышдыру.  Вахушти Батонишвили идыррақәа рыла, Драндатәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакәан Кәыдры аӡиаси Анаҟәаԥиеи (аӡ. ԥсырцха) рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл.  

Ауахәама аинтериер ишьыхын, сахьала иҩычан. Асахьақәа  XIII–XIV ашәышықәсақәа раан иҟаҵан. Ишубарҭоу ала, усҟан ауахәама шьаҭанкыла ирҽеин.  1630  шықәса рашәарамзазы ауахәама даҭааит италиатәи миссионер, Доминикантәи аорден абер Џьовани Џьулиано да Лука. Рашәара 29 рзы (аҿыц стиль ала ԥхынгәы 12 ), Ацқьацәа Пиотри Павли рныҳәамш инамаданы Анцәа Иан лыхьӡала Дранда иҟаз акафедралтә уахәамаҿы аныҳәатә анцәаимаҵзураҿы дыҟан.  1637 шықәса лаҵаразы Османтәи амшынтә десант Драндеи уи акәша-мыкәша иҟаз адгьылқәеи еимырҵәеит. 1639 шықәсазы Одышьтәи самҭавро иаҭааит Урыстәыла аҳ Михаил Романов (1613-1645 шш.) ицҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви.  1640 шықәса жәабран азы, дара Драндатәи ауахәама иаҭааит. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа рдыррақәа рыла, Драндатәи акафедралтә ныхабаа аҿы Анцәа, Анцәа Иан, Иоан Аӡаахҩы уҳәа уб. егь. рныхачаԥақәеи, адамра иҭаз аџьари, ацқьа Барбаре иԥшьоу лыхәҭақәеи рбеит; уааҵәҟьа, иԥшьоу ахәҭақәа ирываҵан даҽа аџьаркгьы. Ацҳаражәҳәаҩцәа абарҭ иԥшьоу ахәҭақәа иаазгада, иабантәааргеи ҳәа ианҵаа, архиереи ишреиҳәаз ала, аҭырқәцәа ауахәама ианақәла, ашқәсанҵа иблит, ҿырҳәала игәалашәом. XVII ашәышықәса 60–тәи ашықәсқәа рзы иаб дицны Одишьи иаҭааз Павел Аллептәи идыррақәа рыла, Драндатәи ауахәамаҿы аныхачаԥақәа рыгәҭа ишьҭан ацқьа Барбареи егьырҭ ацқьацәеи иԥшьоу рыхәҭақәа. 

XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа, еиҭах Одышьтәи самҭавро иажәылеит. Усҟан Драндатәи ауахәама аҟынтә иаҳа ишәарҭам аҭыԥашҟа ииаргоит ауахәаматә шәҟәқәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа уҳәа, ауахәаматә инвентар. Абас ауп ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Саба Дранадатәи иҿаҵала иҟаҵаз Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа (XI ашә.) Драндантәи Шәантәылаҟа ишнагаз; акафедралтә ныхабааи аепархиеи иртәыз иакымкәа аџьарқәеи, ауахәаматә шәҟәқәеи, аинвентари иԥсаҟьаны иаанхеит. 1681 шықәсазы аԥсуаа Одышьтәи самҭавро аҩада - мрагыларатәи ахәҭа, аӡиас Келашәырынтә аӡиас Егрисҵҟали аҟынӡа (уажәтәи Аалӡга) рнапаҿы иааргеит, убри ашьҭахь Драндатәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхын, избан акәзар, аԥсуаа ирымпыҵархалаз атерриториаҿы ақьырсиантә уахәамақәа аусура зрылшомызт. Убри аамҭа инаркны Драндатәи ауахәама кыраамҭа шылаԥшрада иҟан. 

XX ашәышықәса алагамҭазы ауахәама еиҭашьақәдыргылеит. Арҿыцратә усурақәа раан акупол ахадыргылеит аурыс баҟақәа рзы иҟазшьарбагоу амҿытә конструкциа „аџьымшьхы“, аԥенџьырқәа дырҭбааит, аҩнуҵҟагьы адәахьалагьы иршьыхит. Абаҟа аҩнуҵҟагьы адәахьалагьы ашьыхра аан иҟаҵаз адекор амшала ауахәама раԥхьатәи архитектуратә аԥшра аҽаԥсахит. Ауахәама асаркьалсырҭа аман. Мраҭашәаратә ҭӡамц аҿы иалагон Қәыдры аӡиас аҟынӡа ицоз ахыҵхырҭа (аура 260–280 м. ). XIX ашәышықәса анҵәамҭаз абри ахыҵхырҭаҿ аарԥшын амармалташьтә хаҳәҟьаԥс, уи Ҳазшаз ирелиефтә сахьа анын, агьи ахаҳәҟьаԥс аҿы аарԥшын Иасеи Анцәа Иани (афотоҭыхымҭақәа алалырҵәеит П. Уварова). 1917  шықәсазы ауахәама аҵакырадгьыл иахьаҵанакуаз иҟан ахәышәтәырҭеи, асасааирҭеи. Абрааҵәҟьа иҟан ашәырҭрақәеи аӡахәаҭрақәеи. 
Қырҭтәыла асовет мчра анышьақәгыла ашьҭахь, атеизм аҳра анамаз, адинхаҵара иаҿагылаз акампаниа аныӷәӷәаха, 1924 шықәсазы Драндатәи аберҭыԥ иадыркит. Аберҭыԥ ахыбраҿы абахҭа аадыртит, уи иахьагьы аус ауеит, егьа ахәҭа Гәылрыԥшьтәи араионтә администрациеи ашкол-интернати ирҭыԥхеит. 

 




#Article 78: Бедиатәи аберҭыԥ (362 words)


Бедиатәи аберҭыԥ — Аԥсны X ашәышықәса иаҵанакәа берҭыԥ. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, аберҭыԥ анашьан амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа. 

Аҭоурыхтә дыррақәа инрықәыршәаны, Бедиатәи акомплекс иргылан X ашәышықәса анҵәамҭазы, инақәыршәаны, 999 шықәсазы. Ауахәама иргылеит еидҵоу Қырҭтәыла раԥхьатәи аҳ Баграт III Багратиони,  „аепископцәа ртәарҭа“ ҳасабала, акәша-мыкәша иҟаз ақыҭақәа рацәа ауахәама иеиҭеит, ауахәама „еиуеиԥшым аҩычагақәа“ рыла иҩычеит, аҵыхәтәаны, абра анышә дамардеит. 

Бедиатәи аберҭыԥтә комплекст игылоуп 25 километр рыла Очамчыра иацәыхараны, Бедиа ақыҭа агәҭаны. Уи иԥ шӡаӡоу ақырҭуа архитектуратә баҟақәа иреиуп. Уажәазы акомплекс иалоуп Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу ауахәамеи, аепископцәа рпалатеи, асаркьалсырҭа хәҭаки. 

Аберҭыԥ тә комплекс аргыламҭа хада – агәара агәҭаны игылоу, Анцәадзыхшаз лыхьӡала иҟоу Бедиатәи ауахәама ауп, уи аҟынтә мраҭашәарахьала иаанханы иҟоуп Бедиатәи амитрополитцәа рхан, аргыламҭа ҩ-еихагылак амоуп. 

XIII-XIV ашәышықәсақәа рҳәааи XV-тәи ашәышықәсеи рзы ауахәама ирҿыцны еиҭашьақәдыргылеит.  Асаркьалсырҭа XII-XIV ашәышықәсақәа ирыҵанакәа ргыламҭоуп, аепископцәа рпалата иргылан XV ашәышықәсазы,  Бедиатәи амитрополит Антон Жуанисӡе ила. Ауахәама аинтериер аҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рҽыҭқәа хԥ а, урҭ X-XI-и, XIII-XIV-и, XVI-XVII-и ашәышықәсақәа ирыҵанакәеит. 

Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа ашәышықәсақәа рацәа рыҩнуҵҟа зҵакы дууз ауахәаматәи акультура-арккаратәи центрын. 

Давид Аӷ машенебели,  Қырҭтәылеи ақырҭуа уахәамеи ракзаара асимвол ҳасабала,  Бедиатәи аепископ хада Свимеон Бедиа-Алавердтәи аҳаҭыртә ахьӡ ианашьаны, убри ала иаҵшьны иазгәеиҭеит ақырҭуа-мрагыларатәи  ақырҭуа-мраҭашәаратәи иӷ әӷ әаӡоу аныҳәарҭақәа ракзааара.  

Аепископ хада Антон Жуанисӡе Бедиатәи аберҭыԥ тә комплекс аҿы аскрипториум аԥ иҵеит, уаҟа ажәытә напҩырақәа ирҿыцны еиҭашьақәдыргылон, адинҭҵааратә шәҟәқәа еиҭаргон, аскрипториум анапҩыра ҿыцқәа рыла ихадырҭәаауан. Бедиатәи аберҭыԥ аҿы анышә иамадоуп еиду Қырҭтәыла раԥ хьатәи аҳ Баграт III-тәии иара иан — аҳәынҭқарԥ ҳәыс Гурандухти.

Иаанханы иҟоу аџьоуҳартә фрагментқәа инрықәыршәаны, аханатә уи X-XI ашәышықәсақәа рҳәааҿы иргылан. Уажәтәи аргыламҭа XIII-XIV шәышықәсақәа ирыҵанакәеит. Ауахәама апланла еиҵыху акәакьҭаиаша ауп, 3 ҩналарҭаки иҭшәоу агантәи анышьқәеи амоуп. Аҟәырӷ 2 гәашьаки аныҳәарҭа аҭӡамцқәа ркәакьқәеи ирықәгылоуп. Мрагыларатә фасад аҿы усҟак идуум ҩ-ҵыргак иҟоуп. Афасадқәа ибзианы ицәу ахаҳәқәа рыла иҩычоуп. Аҩнуҵҟа ицәагәлабны иҟаҵоуп, аханатә аҭӡамцқәа асахьақәа рыла рҩычара иазԥ хьагәаҭазшәа. Ауахәама аҭӡамцқәа рҿы иаанханы иҟоуп аҭыӡсахьақәа рфрагментқәа. Аладатәи аҭӡамц мрагыларатә хәҭаҿы даарԥ шуп ашьаҭаркҩы - Баграт III-и (ауахәама амодель икуп) Дадианиаа рыжәла ахаҭарнакцәеи, аҭыԥ антәи афеодал иҭаацәара ракәзар ҟалап. Асахьақәа еиуеиԥ шым ахронологиатә аамҭақәа ирыҵанакәеит  — XIII-XIV ашәышықәсақәеи иаҳа икьасоу аепохеи (аҭҵааҩцәақәак ргәаанагарала, XI ашәышықәса иаҵанакәа аҽыҭгьы убарҭоуп), аберҭыԥ мраҭашәаратә ганахьала ахан ду гылоуп, аҩадатәи аҩналарҭа ашә аханы иҟоуп XIV ашәышықәса иаҵанакәа асаркьалсырҭа. 

 




#Article 79: Аҷандаратәи адольменқәа (155 words)


Аҷандаратәи адольменқәа () — ҳ. ҟ.  II азқьышықәса  I азбжа иаҵанакуа, Аԥсны Аҷандара ақыҭан. 2006 шықәсазы, Қырҭтәыла ахада идҵа ала, адольмен амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа астатус анашьан.

Адольменқәа -  Аԥсны атерриториа аҟны  иаарԥшыз, ахаҳә иалхыз аҳаҭгәынқәа роуп. Аԥснытәи ажәытәӡатә дольменқәа заатәи аџьаз аамҭа иаҵанакәеит.  Урҭ рыргылара иалагеит ҳ.ҟ.  III азқьышықәса  II аҩбатәи азбжазы.  Усҟан Аԥсны идыргылоз адольменқәа усҟак идуумыз иҭшәаз аргыламҭақәан.  Абжьаратә аџьаз аамҭа  (ҳ.ҟ.  II азқьышықәса  I азбжа) иаҵанакәа адольменқәа иаҳа идууп, иаҳа еиҕьны иргылоуп. 
Аԥснытәи адольменқәа хагәҵәыла ишьақәыргылоу ԥшьба-ԥшьба идуу ахаҳә ҟьаԥсқәа  ирылхуп, абри аҩызаҵәҟьа ахаҳәла ихыбуп  (хаҳәқәак  50 тонна иакапануеит). Дольменқәак рыҩнуҵҟа  ахаҳәҟьаԥс иалху адашьмагьы иҟоуп.  Аԥснытәи адольменқәа атрапециа афома рымоуп.  Ишаԥу ала, аԥхьатәи аҭӡамц ҭбаа аладахьала ма алада-мрагыларахьала иргылоуп,  0,4 м. адиаметр змоу акылҳара амоуп, уи ахаҳәтә рыԥҵә ала иадыркуан.  Адәахьала аҭӡамцқәа   иаарыкәыршаны ахаҳә дуқәа шьҭоуп. 

Аԥсыбаҩқәа  рыдагьы, адольменқәа рҿы аарԥшуп  аџьаз иалху аихақәа, еиуеиԥшым арԥшӡагақәа, акерамика. 

Уажәазы адольменқәа реиҳара хылаԥшрада иҟоуп. Адольменқәа рекспонатқәак Қырҭтәыла амилаҭтә музеи аҟны ишьҭоуп.




#Article 80: Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс (118 words)


Алахаӡетәи ауахәаматә комплекс () — Аԥсны Алаҳаӡы ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп VI-VII ашәышықәсазы. А ԥ снытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Акомплекс ахәы иқәгылоуп.
Архитектуратә комплекс иалоуп 3 нефки 3 апсидаки змоу ауахәама хәыҷи,
насгьы, 3 нефки абжьыркцатә апсидеи змоу абазилика дуи.
Ауахәама ду аҟынтә иаанхеит аладатәи мраҭашәаратәи аҭӡамцқәа рфрагментқәа.
Ауахәама аҳаштә блокқәа рыла иргылоуп, урҭ рыбжьара акьырмыти
а ԥ слымӡхаҳәи рҽеиҭны ԥ сахлоит. Аныҳәарҭа дууп, азал 3 нефк рыла ишоуп.
Аҩада-мраҭашәарала, 5 метрак иацәыхараны иҟоуп ауахәама хәыҷы
ахыжәжәарақәа. Уигьы аҳаштә блокқәа ирылхуп, иара убас, аргылараан
ахархәара рыман ихыу а ԥ слымӡхаҳә иалху аҳәаҟьа дуқәеи, уааҵәҟьа иҟаҵаз
ақьырмыти, ахаҳәкәымпылқәеи. Ауахәамақәа рхыбразы ахархәара аман акрамит

ашәышықәсақәа ирыҵаркәеит, аха, аргыларатә маҭәахәқәа ишеижәлантәугьы,
асинхронизм алацәажәара уадаҩуп. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы
ҳәам.




#Article 81: Илиа ацқьа ихьӡала Амзара иҟоу ауахәама (115 words)


Илиа ацқьа ихьӡала Амзара иҟоу ауахәама () — Аԥсны Амзара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп 1910 шықәсазы. Азалтә уахәамоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Иргылоуп ибзианы ихыу,
зшәага еи ԥ шым ахаҳәқәа рыла. Ибаланскру аилазаашьа амоуп. Мраҭашәаратә
аҭӡамц афронтон аҿы, абарелиефтә аџьар аханы иҟоуп аамҭа ахьарбоу ахаҳә

Уажәазы мраҭашәаратәи ашә иҭырҭәааны иҟоуп. Аладатәи ашә наҟ-ааҟ, иара
убас аҩадатәи аҭӡамц аҿы ҩба-ҩба ахыргьагьатә а ԥ енџьырқәа иҟоуп. Азал
аплан еиҵыху а ԥ шькәакьҭа аформа амоуп. Адашьма амҿы иалхуп. Аныҳәарҭа
адашьма аҿа ԥ сак ала ишьҭыхуп. Апсида агежьбжататә форма амоуп, уи агәҭаны
иҭа ԥ ҟаны иҟоуп ахыргьагьатә  ԥ енџьырк. Ауахәама ахыб амҿтәы конструкциа
амоуп, ахыб ахаҭа аҭанақьы иалхуп. XX ашәышықәса  70-80 ашықәсқәа рзы уаҟа
ақыҭатә алагамҭатә школ еиҿкаан.




#Article 82: Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа (560 words)


Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа, Мықәтәи аепархиа — Аԥсны абжьаратә шәышықәсақәа раан аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы.

Матиане Қарҭлиса ишану ала, «Аԥсуаа» раҳ Леон III (957-967) иргылеит Мықәтәи ауахәама, иаԥиҵеит аепископцәа рҭәарҭа, иныҳәаны, Анцәа имчала ихиркәшеит.“
Уи аԥҵан Аԥсны ( Мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликосат аепархиақәа руакы аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акатоликос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, нас, XV ашәышықәса анҵәамҭаз иаку аҳра аполитикатә хыбгара ашьҭахь, Аԥснытәи ( алада-мраҭашәаратә Қырҭтәыла) акатоликос инапаҵаҟа. XVI ашәышықәсаз Одышьтәи самҭавро аԥҵара ашьҭахь, Мықәтәи аепископцәа иқәиргылон Одышьтәи ахада, ишьақәирӷ әӷ әон Аԥснытәи акатоликос. Мықәтәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакуан аӡиасқәа Мықәи Кәыдри рыбжьара иҟаз атерриториа. Мықәтәи аепархиа архиереи Мықәтәи ҳәа ауп дышдыру. Иахьазы идыру раԥхьаӡатәи Мықәтәи аепископ хада Григол (XII ашә.) иоуп. Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иргылаз Мықәтәи ауахәама асаркьалсырҭаҿы асомҭаврули  аҩырақәа рҿы, аполиграфиатә шәҟәқәа рҿы абарҭ аҩырақәа XII ашәышықәса ирыҵанакуеит ҳәа азгәаҭоуп. Анаҩсантәи еицырдыруа Мықәтәи архиереи, Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵаз аепископ хада Даниел иоуп. Мықәтәи акафедраҿ иоуранагӡара аепохас азгәаҭоуп  XIII ашәышықәса анҵәамҭеи XIV ашәышықәса алагамҭеи. 

Мықәтәи аҩырацқьа (1300ш.) аҿы, ахҩылааразы аҿаҵа ҟазҵази ахҩылааҩи рышьҭахь дарбоуп Мықәтәи аепископ хада Абраҳам. Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан XIV ашәышықәса актәи азбжазы. Аҩырацқьа ажәытәтәи анҵамҭаҿы иӡбахәы ҳәоуп Мықәтәи аепископ хада Амбриа, аха иара аус аниуаз апериод ашьақәыргылара уадаҩуп. 

Анаҩстәи Мықәтәи архиереи Романоз иоуп, уи Ҭоԥуриӡеаа ршьатә шәҟәы аҿы шаҳаҭс дарбоуп. Зыӡбахәы ҳәоу ашәҟәы 1484 - 1511 шш. ирыҵаркуеит, ишубарҭоу ала, Романозгьы убри аамҭазы аус иуан. Анаҩстәи Мықәтәи архиереи, аепископ хада Елиа иоуп (XVI ашә.). Иара иӡбаҳәы ҳәоуп ихаҭа иҿеиҵаз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы, уи аҟынтә ишубарҭоу ала, иара ҩ-кафедрак – Мықәтәии Драндатәии анапхгара рзиуан. 
XVI ашә. агәҭаны, инықәырԥшны 1543-1549 шш. рыбжьара, Имереҭтәи аҳ Баграт III (1550-1565 шш.) иаԥшьгарала имҩаԥыргеит мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара, уи ахдырра алаҟәреи ауахәаматә ҵасқәа реилагареи аԥыхразы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара иазкын. Ауахәаматә еизара аднакылеит ауахәаматә аӡбаратә баҟа “Акатоликосцәа рзин”. Қырҭтәыла аԥшьаҩыхадацәа инрываргыланы, ари аизара далахәын Мықәтәигьы. Аха, рыцҳарас иҟалаз, ахыҵхырҭақәа рҿы уи ихьӡ аанымхеит. Анаҩсантәи аамҭазы Мықәтәи акафедраҿы аус иуан аепископ хада Еԥвҭиме Саҟварелиӡе. 

Уи аҿаҵа ҟаиҵеит (1560-1578 шш.) Метафрас ахҩылааразы, иӡбахәы ҳәоуп иара иҿаҵала ичаԥоу, Мықәтәи ауахәамаҿы ишьҭоу Анцәа Иан лныхачаԥа аҩырақәа рҿгьы.  Иара Мықәтәи акафедраҿ аус иуан 1560-1578 шш. рзы. ԥыҭк ихьшәаны, 1578-1616 шш. рзы Еԥҭвиме Саҟварелиӡе Аԥсны акатоликосс дҟарҵеит.

XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз Мықәтәи акафедра дахагылан аепископ Андриа. Уи дигәалаиршәоит 1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самҭавроҿы иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макариос. Зыӡбахәы ҳәоу Андриа Мықәтәи -  иара иҿаҵала ичаԥоу, мықәтәи Анәца Иан лныхачаԥа ақәҩыраҿы зыӡбахәы ҳәоу Андриа Саҟварелиӡе иоуп. Антиохиатәи Макариос Андриа Мықәтәи атәы иҭиира аус дахьалахәыз азы ауахәама далицан, аепископс даҽаӡәы дықәиргылеит, аха уи ихьӡ иарбам. Ишубарҭоу ала, уи Мықәтәи акафедраҿ аҵыхәтәантәи аепископ Иакоб Мықәтәи иоуп. 

XVII ашәышықәса 60-тәи ашықәсқәа инадыркны, Мықәтәи аепархиа аамҭа цәгьа иҭагылан. Абри аамҭа инаркны аԥсуаа еиҭах Одышь ажәылара иалагеит. Аԥсуаа ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи иржәыланы ицәдырҳәуан. Иерусалимтәи апатриарх Досиҭеос идыррақәа инрықәыршәаны, дара акафедралтә ныхабаа, Қьачтәи ауахәама уҳәа, Мықәтәи аепархиа иқәырхит. Убри аамҭазы, Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә самҭавро агәҭаны иҟаз араионқәа рахь, ишәарҭам аҭыԥқәа рахь ииаргоит Мықәтәи аепархиа ацқьарақәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа, ауахәаматә шәҟәқәа, ауахәаматә аинвентар. ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Мықә иҟаз Анцәа дзыхшаз лныхачаԥақәа ҩба руакы Жәыргьыҭтәи ауахәамаҿ ирбеит, егьи ҽ Хобтәи аберҭыԥ аҿы. Мықәтәи аҩырацқьа (1300 ш.) - Мартвилтәи аныхабаахь ииаган, даҽа ҩырацқьак (XII-XIII ашә.) Џьруҷтәи аберҭыԥ аҿы иаарԥшын, уажәы уи Џьруҷтәи II аҩырацқьа ахьӡ ала идыруп. 1681 шықәсазы аԥсуаа рнапаҿы иааргеит Одышь аҩада-мрагыларатәи ахәҭа, аӡиа Кьелашәыр аҟынтә аӡиас Егрисҵҟали (уажәы Аалӡга) аҟынӡа аҵакырадгьыл. Ари аҵакырадгьыл аҿы ақьырсиантә ныҳабаақәа аусура зрылшомызт, убри амшала, Мықәтәи аепархиа аԥыхын. 




#Article 83: Гьаргь ацқьа ихьӡала Аҷандара иҟоу ауахәама (145 words)


Гьаргь ацқьа ихьӡала Аҷандара иҟоу ауахәама () — Аԥсны Аҷандара ақыҭан иҟоу ауахәама. Ауахәама иргылоуп XX ашәышықәса алагамҭазы. Азалтә уахәамоуп. Аладатәи аган аҟынтә ашә, мраҭашәарантә а ԥ енџьыр амоуп.
Ишьыхуп. Ауахәама алада-мрагыларатә аган аҿы ажәытә уахәама ахыжәжәарақәа иҟоуп. 2019 шықәса ԥ хынгәы азы ауахәама акультуратә ҭынха иеиҭамҵуа абаҟа астатус анашьан.

Архитектуратә баҟа Аҟәатәи амуниципалитет Баслахә ақыҭан, Аԥснытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Ауахәама иргылан XIX ашәышықәсазы. 

Азалтә ргыламҭоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Азал аплан иеиҵыху аԥшькәакьта аформа амоуп; уи аҩадатәи, мрҭашәаратәи, аладатәи аӡҭамцқәа рыгәҭа  акака архитравтә ашәқәа иҟоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рҿы ашә аҩ-ганк рҿы ҩба-ҩба архитравтә аԥенџьырқәеи абаҟәқәеи иҟоуп.  Абаҟәқәа азал еиҩыршоит еиҟароу х-хәҭак рыла. Аныҳәарҭеи азали еиҩшоуп аҿаԥсазаҵәытә аганқәа рыла. Апсида аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп ахыргьагьатә аҵыргақәа ҩба,  апсида аладатәи ахәҭаҿы аԥшькәакьтатә архитравтә аҵыргак иҟоуп. Азал аҿы аныҳәарҭа адашьма аҿаԥсак ала ишьҭыхуп. Ауахәама иргылан аҳаши аҳаштә аиларшьышьи рыла. Аконструкциатә ахәҭақәа ирылаԥсоуп ибзианы ихыу ахаҳә. Ахыб еилаҳаны иҟоуп. 




#Article 84: Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa (369 words)


Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa, Бедиaтәи aепaрхиa – Аԥсны aбжьaрaшәышықәсaқәa рaaнтәи aепaрхиa. Иaԥҵaхеит Х aшәышықәсқәa рaлaгaмҭaз Бaгрaт III Гудaҟтәи иепaрхиa aҭыԥaн. Еидҵоу Қырҭтәылa XI-XV aшә. ахаан, Бедиaтәи aепископцәa ртәaрҭa Қырҭтәылa aхьынӡaнaӡaaӡо aкaтоликос-пaтриaрх инaпaҵaҟa иҟaн, aнaҩсaн, Қырҭтәылa хaз-хaзы ҳәынҭқaррaқәaны ианша aшьҭaхь, Аԥснытәи, мaмзaргьы мрaгылaрaтәи Қырҭтәылa aкaтоликос инапаҵаҟа.

Одышьтәи сaмҭaвро aԥҵaрa (XVI aшәышықәсa) aшьҭaхь, aбжьaaԥнеиԥш Одышьтәи мҭaвaрцәa ракәын Бедиaтәи aепископцәеи Аԥснытәи aкaтоликоси шьaқәзырӷәӷәоз. Ихшәоу абжьаражәышықәсақәа раан, Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡиасқәа Мықәи Оқәыми рыбжьара атериториа иаҵанакуан.

Аханатә Бедиатәи аепископцәа аепископ хада ититул ныҟәыргон, ХVIII ашәышықәсазы урҭ   ихадоу амитрополит-епископцәас рхы рыԥхьаӡон.  Ахыҵхырҭақәа рҿы раԥхьатәи Бедиатәи аепископ хадас Гьаргь  ихьӡ иуԥылоит, ари атәы азгәанаҭоит Гьаргь ацқьа ихьӡала  Елыр иҟоу ауаҳәамаҿ  иҟаҵоу XI ашәышықәса актәи аԥшьбарак иаҵанакуа аҩыра. XI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы анаҩстәи Бедиатәи аепископ хада, свингелоз Иоане иоуп. Уи 1065 шықәсазы Баграт IV (1027-1072) иԥҳа Марҭа лнапхгарала Византиаҟа идәықәлаз аделегациа далахәын. Иӡбахә ҳәоуп Гьаргь  Хуцесмоназони иаԥҵамҭа „Гьаргь Мҭаҵминдели иԥсҭазаара“ аҿы.
Давид Аӷмашенебели (Аргылаҩ) Мӷвиме иазаанижьыз иуасиаҭ аҿы Свимон Бедиа-Алавердтәии Мҵигнобарҭухуцеси Свимеони (Гулаберисӡе) рыӡбахә ҳәоуп, анаҩс иара  Ҷҟондидел-Мҵигнобарҭухуцеси ититул иоуит. Аџьар цқьа ахьӡала Иерусалим иҟоу аныхабаа аӷапқәа рҿы еиқәыԥхьаӡоуп XII-XV ашәышықәсақәа раан инхоз Миқаел (Гонглисбаиӡе), Николоз (Гонглисбаиӡе), Софром (Гонглисбаиӡе). Николози Софроми Бедиатәиқәа рыӡбахә ҳәоуп XIII ашәышықәса II азбжазы иаԥҵоуп ҳәа иԥхьаӡоу Бедиатәи аныхабаа асаркьалсырҭа иану  аҩыраҿ. Аепископ хада Лазаре иӡбахә ҳәоуп Синатәи ашьха аныҳәатә ақәҩыраҿы (XIV ашә.), Маркоз Бедиатәи  иӡбахә ҳәоуп Аџьар цқьа  аныхабаа аӷапқәа рҿы (XIV-XV ашә.), Гьыргәал Бедиатәи - Ҭопуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (XV ашә. I ахԥарак), Цаишьтәии Бедиатәии Иовакиме иӡбахә уԥылоит XV ашә. 70-тәи ашықәсқәа рзы (1470-1474 шықәсқәа рзы уи Мрагыларатәи Қырҭтәыла дкаталикосхоит).  

XIV-XV ашә. раан Бедиатәи аепископцәа ҳәа идыруп Антон Жуанисӡе, Кириле Жванисӡе, Герман Чхетисӡе, Николоз Мхеиӡе, Николоз Ирубақиӡе - Чолоҟашвили. Евтихи Бедиатәи дигәалаиршәоит 1689-1640 шш. рзы Одышьтәи самҭавро иҟаз Урыстәыла аҳәынҭқар Михаил Романов (1613-1645) ицҳаражәҳәаҩ  адикәан Федот Елчин; Андриа Бедиатәи дигәалаиршәоит   1664-1666 шш. рзы Одышьтәи самтавро иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос (1636-1672); документқәак рҿы иуԥылоит XVII ашә. 70-80-тәи шш. рзы Бедиатәи акафедра иахатәаз Габриел Чиқвани иӡбахә. Иҟоу адыррақәа рыла, аҵыхәтәантәи Бедиатәи аепископ иоуп амитрополит Максим (Иашвили), ихьӡ иуԥылоит 1759ш.-1761ш. рзы имҩаԥгаз ауахәаматә еизара алахәылацәа рыбжьара. Убри аамҭазы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа Аԥснытәи самҭавро аҳәаақәа ирҭагӡаны иҟан. Убри ашьҭахь, ахыҵхырҭақәа рҿы Бедиатәи аепископцәа ртәарҭа аӡбахә иуԥыхьашәом. Аԥсуаа рекспансиа амшала уи аԥыххеит. 1770 шықәсазы еиқәыршәаз адокумент “Мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәамауаа рсиа“ аҿы Бедиа азгәаҭоуп аепископ дахьтәам ҭәарҭаны.




#Article 85: Баслатәи ацҳа (111 words)


Баслатәи ацҳа, Ҭамар лыцҳа () — Аԥсны XI-XII ашәышықәсақәа ирыҵанакәа культура аматериалтә баҟа, Аҟәа, Басла аӡиас аҟны иҟоу, бжьашшарак змоу ахыргьагьатә ацҳауп.  Ацҳа  35 м. ауреи  8 м. аҳаракыреи амоуп. Аҳаши  ахаҳәқәеи рыла иргылоуп. Аганахьала иҟоу ахаҳәҟьаԥс иануп ақырҭуа аҩыра  Асомҭаврули анбанқәа.  Мраҭашәаратә аганаҿы Асомҭаврули ала адҩыла ҟаҵоуп. 2006 шықәса абҵарамза 7 рзы,  Қырҭтәыла ахада идҵа ала, Баслатәи ацҳа амилаҭтә ҵакы змоу иеиҭамҵуа акультуратә баҟа акатегориа анашьан.

Адҩылаҿы Қырҭтәыла аҳ  Баграт  III (978-1014), ма Баграт  IV (1027-1072) иӡбахә ҳәоуп.

ԥаса ацҳа авара игылан   ашьхаруаа ржәыларақәа рҟынтә  ақалақь  алаларҭа зыхьчоз абааш. Аҵыхәтәантәи аамҭанӡа ацҳа аханы иаанханы иҟан ақырҭуа текст зныз амонументалтә ахаҳәтә стела.   1990-тәи ашықәсқәа  ралагамҭазы астела иӡит. 

Баслатәи ацҳа  ирыцқьаны еиҭашьақәыргылатәуп. 




#Article 86: Драндатәи аепископцәа ртәарҭа (581 words)


Драндатәи аепископцәа ртәарҭа, Драндатәи аепархиа — Аԥсны абжьарашәышықәсатә аепархиа. Ишьаҭаркын X ашәышықәса аҩбатәи азбжазы Анцәа Иан лыхьӡала Дранда иҟоу ауахәамаҿы (VI-VIII ашә.). Иаԥҵан Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикосат иаҵанакәаз епархиак аҳасаб ала. Қырҭтәыла акзаара аепоха аан (XI-XV ашә.) Қырҭтәыла акаталикос-патриарх инапаҵаҟа иҟан, XV ашәышықәса анҵәамҭазы иаку аҳра аполитикатә аилаҳара ашьҭахь, Аԥсны (мраҭашәаратәи Қырҭтәыла) акаталикос инапаҵаҟа иҟан. 

XVI ашәышықәсазы Одышьтәи аҭауадра анышьақәгыла ашьҭахь, Одышь ахада дықәиргылон Драндатәи аепископ, дшьақәирҕәҕәон Аԥсны акаталикос. Драндатәи аепископцәа ртәарҭа иаҵанакәан Кәыдры аӡиаси Анаҟәаԥиеи (Афон Ҿыц) рыбжьара иҟаз аҵакырадгьыл. Драндатәи аепархиа аԥшьаҩыхада Драндатәи ҳәа ахьӡ алоуп дышдыру. Иахьазы еицырдыруа аԥшьаҩыхадацәа дреиуп Раԥхьатәи Драндатәи Саба (XI ашәышықәса алагамҭа). Уи иӡбахәы ҳәоуп иара ихаҭа иҿеиҵаз Иоанн Агәырҕьаҿҳәашаҳәаҩы исахьаԥшьа иану адҩылаҿы. Иара инеҩс дыҟан Драндатәи Арсени (XI ашәышықәса агәҭа). Иара Гьаргь Мҭаҵминдатәи Ҭуен (XI-XII ашә.) цәыббратәи иматериалқәа реизгара далахәын; XI-XIII ашәышықәсақәа ирыҵанакуеит Иерусалим иҟоу Џьвари аберҭыԥ асахьақәа анызҵаз Григол Драндатәи иоуранагӡара. Иара иӡбахә ҳәоуп Џвари аберҭыԥ аҕапқәеи аберҭыԥ афрескеи рҿы. Синатәи ашьха аԥсқәа ршықәсҩыраҿ дануп XVI ашәышықәса аҩбатәи азбжазы инхоз Николоз Драндатәи. Ҭоԥуриӡеаа рышьҭратә шәҟәы аҿы (1484-1510 шш.) иӡбахә ҳәоуп XIV-XV ашә. раан инхоз Ҭевдоре Драндатәи; Мықәтәи акафедра иахагылаз аепископ хада Елиа ихьӡ уԥылоит XVI ашә. актәи ахԥарак инаркны. Ихьӡ уԥылоит иара иҿаҵала иӡахыз Мықәтәи аомофораҿ иҟаҵоу ақәҩыра аҿы. Ишдыру ала, XVI ашә. 40-тәи ашықәсқәа рзы аус иуан амитрополит Филипе Драндатәи. Уи Имереҭи аҳ Баграт III (1510-1565 шш.) иԥшьгарала 1543-1549 шш. рзы имҩаԥгаз мраҭашәаратәи Қырҭтәыла ауахәаматә еизара далахәын, абри еизараҿ ацәаҩашәатәи ауахәаматә нормақәа рықәныҟәаразы аус адырулеит “Акаталикосцәа рзин”. XVI ашә. анҵәамҭеи XVII ашә. алагамҭеи рзы аԥсуаа Анаҟәаԥиа аҟынтә Кьалашәырынӡа Одышьтәи самҭавро иатәыз аҵакырадгьыл рпанаҿы иааргеит. Убри амшала, Драндатәи аепископцәа ртәарҭа атерриториа маҷхеит. 1630 шықәса рашәара мзазы аӡиас Кәыдры алаларҭа ааигәара, Одышьтәи абаҕәаза Скәырча иҭалаз аҕба дҭатәан италиатәи амиссионер, доминикатәи абер Џьовани Џьулиано да Лука. Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иара диԥыланы, аепархиахь днаиԥхьеит. Доминикатәи абер Анцәа Иани Ацқьа Андриеи рыхьӡала Дранда иҟаз ауахәамақәа дырҭааит. Амиссионер хымзи бжаки Одышь дыҟан, ари аамҭа иалагӡаны, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ иоуп аԥшәмара изызуаз. Анаҩс, аԥшәма асас Қобулеҭинӡа днаскьеигеит. Италиатәи амиссионер Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ ибзианы дихцәажәеит, уи иҩымҭаҿ ишазгәеиҭаз ала, Драндатәи адоуҳаныҟәгаҩ анцәаимаҵзуҩы ицәҩыча ныҟәызго ауаҩы хазына иоуп, аха, ихьӡ џьаргьы иҳәом. Ари ауаҩы Драндатәи аԥшьаҩыхада Евдмон Џьаиани иакәзар ҟалап. Уи Драндатәи акафедра анапхгара азиуан XVII ашә. актәи ахԥарак азы. 1637 шықәса лаҵаразы Османтәи амшынтә десант Драндеи уи акәша-мыкәша иҟаз адгьылқәеи еимырҵәеит. Убри анеҩс, хара имгакәа, 1639 шықәсазы Одышьтәи самҭавро иаҭааит Урыстәыла аҳ Михаил Романов (1613-1645 шш.) ицҳаражәҳәаҩцәа адикәан Ф. Елчини апап П. Захариеви. 1640 шықәса жәабран азы, дара Дранда ианыҟаз, Драндатәи архиереи иԥылеит, аха ихьӡ џьаргьы иазгәарҭом. Аурыс ацҳаражәҳәаҩцәа рдыррақәа рыла, Драндатәи акафедралтә ныхабаа аҿы Анцәа, Анцәа Иан, Иоан Аӡаахҩы уҳәа уб. егь. рныхачаԥақәеи, адамра иҭаз аџьари, ацқьа Барбаре иԥшьоу лыхәҭақәеи рбеит; уааҵәҟьа, иԥшьоу ахәҭақәа ирываҵан даҽа аџьаркгьы. Ацҳаражәҳәаҩцәа абарҭ иԥшьоу ахәҭақәа иаазгада, иабантәааргеи ҳәа ианҵаа, архиереи ишреиҳәаз ала, аҭырқәцәа аныхабаа ианақәла, ашқәсанҵа иблит, ҿырҳәала игәалашәом. XVII ашә. 60-тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа, еиҭах Одышьтәи самҭавро иажәылеит, усҟан Одышь аҩада - мраҭашәаратәи ахәҭаҿы иҟаз ауахәамақәеи аберҭыԥқәеи рҟынтә, Драндатәи аепархиагьы уахь иналаҵаны, атәыла аҩнуҵҟатәи араионқәа рахь, иаҳа ишәарҭам аҭыԥашҟа ииаргоит ауахәаматә шәҟәқәа, аныхачаԥақәа, аџьарқәа уҳәа, ауахәаматә инвентар. Абас ауп ԥыҭраамҭак ашьҭахь, Иоанн Ахьҿы иныхачаԥа (XI ашә.) Драндантәи Шәантәылаҟа ишнагаз; акафедралтә ныхабааи аепархиеи иртәыз иакымкәа аџьарқәеи, ауахәаматә шәҟәқәеи, аинвентари иԥсаҟьаны иаанхеит. XVII аш. 60-тәи ашықәсқәа раан Дранда архиеиреи дыҟамызт. 1664-1666 шш. рзы Одышь иҟаз Антиохиатәи апатриарх Макарос идыррақәа рыла, уи аԥсуаа рнаҭара аус Мықәтәи аепископ инапы ианиҵеит, аха Драндатәи акафедра макьана иаԥыхымызт. 1681 шықәсазы аԥсуаа Одышьтәи самҭавро аҩада - мрагыларатәи ахәҭа, аӡиас Келашәырынтә аӡиас Егрисҵҟали аҟынӡа (уажәтәи Аалӡга) рнапаҿы иааргеит, убри ашьҭахь Драндатәи аепископцәа ртәарҭа аԥыхын, избан акәзар, аԥсуаа ирымпыҵархалаз атерриториаҿы ақьырсиантә уахәамақәа аусура зрылшомызт.




#Article 87: Арабтәи ааԥынра (1552 words)


Арабтәи ааԥынра — адемонстрациақәеи, апротестқәеи, ақәгыларақәеи рреволиуциатә цәқәырԥа. Ас еиԥш ақәгыларақәа арабтәи адунеи аҟны ирылагеит жьырныҳәамза 14, 2011 шықәса рзы. 

Ааигәа Мрагылареи Ҩадатәи Африкеи иахьрыҵанакуаз ақәгыларақәеи адемонстрациақәеи, уи иалахәыз зегьы арабцәаны рхы шырмыԥхьаӡозгьы, «арабтәи ааԥынра» («арабская весна»), иара убасгьы «арабтәи ааԥынреи аӡынреи», «арабтәи ааԥшра» («арабское пробуждение»), «панарабтәи ареволиуциа», мамзаргьы «арабтәи ақәгыларақәа» ҳәа рзырҳәон.
Хронологиала уахәаԥшуазар, арҭ аҿагыларақәеи ақәгыларақәеи ирылагеит Мраҭашәаратәи Сахара жьҭаарамза 2010 шықәса рзы, аха фактлаҵәҟьа иуҳәозар, уи алагеит Тунис ԥхынҷкәынмза 18, 2010 шықәса рзы Мохаммед Буазизи иҽыбылра ашьҭахь, анаҩс егьырҭ атәылақәа рахь ииасит. 

Зегь реиҳа амассатә ҟазшьа змаз, аиҿкаара бзиа змаз адемонстрациақәа анымҩаԥысуаз «день гнева» азы акәын, ахәаша ашьыбжьыжьҭахьтәи аматанеира ашьҭахь. Ақәгыларақәа рымҩаԥысра иалагеит егьырҭ арегионқәа рҟынгьы. Ақәгыларақәа ианрылага инаркны 2012 шықәса лаҵарамза азынӡа имҩаԥысыз ареволиуциақәа раан ԥшь-ҳәынҭқаррак рхадацәа ахҳәан. 
Арегионалтә қәгыларақәа раан аӡәырҩы аԥхьагылаҩцәа рхала рҭыԥ ааныжьразы аҳәамҭақәа ҟарҵеит, рнапхгараҭара аҿҳәарақәа шнымҵәацызгьы. Анеополитикатә лҵшәақәа рпротестқәа аӡәырҩы азхьанарԥшит, убас еиԥш агәаанагарақәагьы цәырҵит, ақәгыларақәа ирылахәыз аӡәырҩы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа аиуразы ркандидатурақәа ықәыргылахар алшоит ҳәа.
Ус иагьыҟалеит – Тавакуль Карман Иеменынтәи, 2011 шықәса рзы иаарылукааша Арабтәи ааԥынра аԥхьагылаҩ ҳәа иалкааз хҩык дыруаӡәкхеит, уи иагьланашьан Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа. 

Тунистәи агәҭынчымрақәа ирылҵшәахеит ареволиуциа, жьырныҳәамза 14, 2011 шықәса рзы ари атәыла апрезидент Зин ель-Абидин Бен Али атәыла аҟынтә дыбналаны Саудовтәи Аравиаҟа дыбналаны данца. 

Жәабранмза 3, 2011 шықәса рзы Алжир апрезидент Абдель Азиз Бутефлика адырра ҟаиҵеит иаарласны атәылаҟны аполитикатә реформақәа ишрылаго азы – аҭагылазаашьа ҷыда аԥыхра (уи шьақәыргылан 1992 ш. раахыс), апартиақәа арадио ахь рынашьҭра, аҭынч демонстрациақәа рымҩаԥгара азин аҟаҵара (Алжир ада). 

Жәабранмза 1, 2011 шықәса рзы Иорданиа акрал Абдалла II, аоппозициа адҵала Самир аль-Рифаи аиҳабыра ԥхьатәара ишьҭит. 2005 шықәса рзы иара 0,5 миллиард доллар азоуижьит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа руалафахәы ашәаразы, насгьы абылтәи, зда ԥсыхәа ыҟам амаҭәарқәеи рыхәқәа рҭышәныртәаларазы. Арҭқәа рыла иара ақәгыларақәа еиқәиртәарц хықәкыс иман. Убри анаҩсангьы, 2011 шықәса рзы Иорданиа Саудовтәи Аравиа аҟынтәи 1,6 миллиард доллар рыхә ацхыраара ҟанаҵеит. 

Иемен апарламент аҟны дықәгыло, апрезидент Али Абдалла Салех аҳәамҭа ҟаиҵеит иара амчра инапаҿы иҟоу шаанижьуа, аха аҭыԥ иԥа шьҭрала ишизинижьуа, алхра ҿыцқәа 2013 шықәса рзы имҩаԥысаанӡа. Аха, аамҭак анаҩс, амассатә қәгыларақәа ирыхҟьаны Салех ажәалагала ҟаиҵеит, 2011 шықәса нҵәаанӡа алхрақәа мҩаԥыргарц, насгьы иара ԥхьатәара дышцо иҳәеит. Иазгәаҭатәуп аамҭаказы Иемен Салех идгылаҩцәагьы ақәгыларақәа шымҩаԥыргоз.
Абҵарамза 23, 2011 шықәса рзы Салех аиҳабыра атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ инапы ианҵаны ԥхьатәара дцеит. 

Ара ауаа аԥсҭазаара уадаҩ иаҿагыланы, атәыла Ахада ԥхьатәара дцаразы иқәгылон. Жьырныҳәамза 29, 2011 шықәса рзы атәыла ахада Хосни Мубарак аиҳабыра зегьы еимирпит. Жәабранмза аказы Мысра Ахада ижәлар рахь ааԥхьара ҟаҵо, иҳәеит анаҩстәи алхрақәа, ҭагалан, 2011 шықәса рзы имҩаԥысраны иҟаз, дышрылахәымхо атәы.
Мысра Ахада, иара убасгьы Аконституциа 76-тәии 77-тәии ахәҭаҷқәа рыԥсахра дадгыланы дцәажәеит, уа аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥысшьа азгәаҭан.
Жәабранмза 10 рзы, Мубарак имчра абжакы ихаҭыԥуаҩ Омар Сулеиман инапы ианиҵеит, иаргьы ԥхьатәара дцеит, анаҩс иара аҩнытә рбаандаҩра иқәырҵоит.

Жьырныҳәамза 2014 шықәса рзы, Мысра, 2011 шықәсазтәи ареволиуциа амш азгәаҭара аан, аполициеи адемонстрациа иалахәызи реидыслара иахҟьаны 49- ҩык ауаа ҭахеит. 

Жьырныҳәамза 17, 2011 шықәса рзы Мавританиа аҳҭнықалақь Нуакшот аҟны. 43-шықәса зхыҵуа Иакуб ульд Дахуд Мавританиа Асенат аԥхьа ашьжьымҭан имашьына ааникылан, ирласны амца зыцрало аӡшьар иқәҭәаны амашьына аҩныҵҟа амца ицраиҵеит. Уи ас еиԥш иҿагылара ззырхаз аинрал Мохаммед аль Абдель Азиз ирежим акәын.
Ари ауаҩ иикыз амца иаарласны ирцәан, аха ус еиԥш ҟалаанӡа Дахуд аҭел дасны ажурналистцәа иреиҳәеит ихы зыхирҟьоз, – «сара атәыла аҟны иҟоу аполитикатә ҭагылазаашьа сгәаԥхом, арежим саҿагылоит» ҳәа.
Мохаммед ульд Абдель Азиз амчрахь днеит 2008 шықәса рзы, арратә аарҳәра иабзоураны, анаҩс иара Исламтәи Ареспублика апрезидентс далхын 2009 шықәса рзы.

Марокко акәзар, асоциалтә ҳа Феисбук ала ааԥхьара ҟаҵан ақәгыларақәа рылагаразы. Анаҩс, жәабранмза 20, 2011 шықәса инаркны Марокко ақалақьқәа рҟны аҭынч демонстрациақәа ирылагеит, урҭ ззырхаз аҳ имчра аԥкреи, асоциалтә проблемақәа рыӡбареи роуп. 
Мраҭашәаратәи Сахара 
Жәабранмза 26 рзы ақалақь Дахла апротесттә акциа мҩаԥысит. Уи аан ҩыџьа ауаа ҭахеит,шәҩык ахәрақәа роуит.
Хәажәкырамза 5 рзы, ахҵәацәа рлагер аҟны 200-ҩык инарзынаԥшуа аҭынч акциа рхы аладырхәт, дара афронт Полисарио анапхгара рахь ааԥхьара ҟарҵеит адемократиатәи асоциалтәи реформақәа ирылагаразы. 

Жәабранмза 27 рзы, Ливан аҳҭнықалақь Беирут аҟны ауаарацәа злахәыз адемонстрациа мҩаԥысит аконфессионализмтә система аԥыхразы. Уи иаанагоз ауаажәларра рдинхаҵаратә цуҭақәа инарықәыршәаны аҳәынҭқарратә мчра аиҿкаара акәын.
Хәажәкырамза 13 рзы жәанызқьҩыла ауаа алахәын Беируттәи Ашьаҳиҭцәа Рдәаҿы имҩаԥысыз амитинг, уи аиҿкаара «акедртә револиуциа» ҳәа ззырҳәо мҩаԥысижьҭеи фышықәса аҵра акәын изызкыз, ари ақәгылара иалҵшәаны сириатәи амчрақәа Ливан аанрыжьит. Амонифестантцәа дҵаны иқәдыргылон арадикалтә шииттә гәыԥ «Хезболла» абџьар шьҭаҵаны ливантәи архәҭақәа ирылаҵазарц. 

Оман 200-ҩык инарзынаԥшуа аҿыгылаҩцәа рықәгылара ауалафахәы ашьҭыхра иазырхан, ас еиԥш ақәгылара мҩаԥысит жьырныҳәамза 17, 2011 шықәса рзы. Анаҩс, жәабранмза 19 рзы аԥсҭазаараҿы аиҭакрақәа ирзырхаз аҭынч қәгылара мҩаԥган. Жәабранмза 26 рзы – ақәгыларақәа ирылҵшәаны асулҭан Кабус бен Саид аиҳабыра рҟны аиҭакрақәа мҩаԥигеит, фҩык русура иамихит. Адырҩаҽны имҩаԥгаз амитинг аҟны ҩыџьа адемонстрантцәа ршьит ақалақь Сухар аҟны. Ас еиԥш ақәгыларақәа хәажәкырамза 13-нӡа имҩаԥысуан, Кабус Бен Саид азакәанԥҵара зыԥсахуа аусԥҟа инапы аҵеиҩит. 

Жьырныҳәамза 21, идырым, 65 шықәса зхыҵуа ахаҵа ихала иҽахьиблыз иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. 
Жьырныҳәамза 29 рзы, шәҩыла адемонстрантцәа Джидда еизеит, урҭ ықәгылон ақалақьтә инфраструктура апроблемақәа ирҿагыланы, арҭ апроблемақәа зыхҟьаз жәеизаҩык ауаа рыԥсҭазаара ҿахызҵәаз аӡхыҵрақәа роуп. Аполициа адемонстрациа ааныркылеит жәохә минуҭ рыла. Ҩынҩажәижәаҩык рҟынӡа ауаа ырбаандаҩын.
Жәабранмза 23 рзы, зтәылахь игьежьыз, хымызтәи аҳәаанырцә иҽахәышәтәра ашьҭахь, Саудовтәи Аравиа аҳ Абдалла ибн Абдель Азиз аҳәамҭа ҟаиҵеит, иааизакны 35 миллиард доллар рыхә афинанстә льготақәа рпакет аларҵәаразы. Ари афинанстә льготақәа рахь иаҵанакит аҳәынҭқарратә усзуҩцәа руалафахәы 15 процент ашьҭыхра, аус зымуа аҿар адгылара рыҭара, насгьы Саудовтәи Аравиа атәылауаа аҳәаанырцә аҵара зҵо ацхыраара рыҭара, убасгьы аҭаацәарақәа анхарҭа аҭыԥ аԥшаара аус аҟны ацхыраара рыҭара.
Аполитикатә реформақәа ракәзар, зынӡагьы рыӡбахә ҳәамызт, амонарх иҭакыз аӡәырҩы рхы ишақәиҭитәызгьы, урҭ афинансттә цәгьоурақәа рзы ахара рыдҵан.
Хәажәкырамза 10 рзы ақалақь Катиф, апровинциа Еш-Шаркииа ашиитцәа рдемонстрациа мҩаԥысит, уи иалахәын 200-ҩык ауаа. Ажәлар реимырпра азы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа абжьыцәгьа змаз артҟәацгақәа рхы иадырхәеит. Уи аан ԥшьҩык ахәрақәа роуит. 

Жьырныҳәамза 30 рзы, Хартум, ҩ-университетк рыстудентцәа 15-нызқьҩык инарзынаԥшуа, аиҳабыра ԥхьатәара рцара дҵаны иқәдыргылеит. Аполициа ауниверситетқәа ирыкәшеит, гәыԥҩык астудентцәа пҟаны идырбаандаҩит. Жәаҩык инареиҳаны, астудентцәа рықәгыларақәа ртәы зҳәоз арепортажқәа ҟазҵоз ажурналистцәа дырбаандаҩит. Ақәгылара ахаҭа ахәқәа рышьҭыхра ауп изыхҟьаз. 
Ари ахҭыс ҟалаанӡа ҩымчыбжьа раԥхьа, жәҭаарамза 17, 2011 шықәса рзы Судан амчрақәа ддырбаандаҩхьан апрезидент Омар аль-Башир ицнагаҩ, анаҩс аоппозициахь ииасыз Хасан Тураби. 

Жьырныҳәамза 31 рзы, 300-ҩык ауаа апрезидент Исмаил Омар Гелл иҿагыланы ақәгылара мҩаԥыргеит, аҳҭнықалақь Џьибути аҟны. Жәабранмза 18 рзы, Џьибути даҽа қәгыларак мҩаԥысит уи ԥхьатәара ишьҭра иазырхаз.

Жәабранмза 13 рзы, шәҩыла аҿар рхы аладырхәт аҳҭнықалақь Могадишо имҩаԥгаз адемонстрациа, уи ззырхаз аиасратә федералтә еиҳабыра роуп, апрезидент Шеих Шариф Ахмеди исламтәи аҿагыларатә гәыԥ «Харакат аш- Шабаб» Шеихан Ибрагим аль-Афгани напхгара зиҭози ирҿагыланы, урҭ ракәын атәыла аиҳарак хылаԥшра азҭоз.
Адемонстрациа иалахәыз аҳәамҭа ҟарҵеит акциа амҩаԥгара шаанырымкыло, Мысреи Туниси рҟны еиԥш аиҳабыра ахырҳәаанӡа.
Жәабранмза 15 рзы, аиасратә федералтә еиҳабыра рыдгылаҩцәа адемонстрантцәа ирылахысит, уи аан ԥшьҩык ҭахеит, 11-ҩык ахәрақәа роуит. 

Жәабранмза 4, 2011 шықәса рзы Шьамтәыла, гәыԥҩык активистцәа асоциалтә ҳа Феисбук аҟны ирыӡбеит акциа, мысратәи акциа еиԥшыз «Агәеибакра амш» амҩаԥгара. 
Мшаԥымза 20 рзы – Башар Асад официалла аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы арежим аԥихит, уи 48 шықәса амчра аман. Аоппозициаа ргәаанагара ала, ас еиԥш ақәҵара адкылара изыгхаз акакәны иҟан.
Мшаԥымза 22 рзы, аҳәынҭқарра иаҿагыланы имҩаԥысуаз адемонстрациақәа раан иҭахеит 72- ҩык ауаа.

Аиҭакрақәа рымҩаԥгаразы Бахреин адемонстрациақәа ирылагеит жәабранмза 14, 2011 шықәса рзы. Адемонстрантцәа иааныркылеит Манама агәҭаны иҟаз Абырлаштә дәы ҳәа изышьҭаз аҭыԥ. Ари аҽны дшьын аҿагылаҩ, уи иԥсыжра аҽны дыршьит даҽаӡәгьы. Жәабранмза 16 рзы, зықьҩыла бахреинаа даҽазныкгьы Абырлаш дәы аҟны еизеит, уи Тахрир (Ахақәиҭра) ҳәа ахьӡ аԥсахразы.
Жәабранмза 17 рзы, аполициа ари адәы хьчо иҭадырхеит даҽа фҩык ауаа. Жәабранмза 18 рзы, адемонстрантцәа даҽа зныкгьы рҽазыршәоит Тахрир адәахьы анеира, аха аполициаа реихсуеит, ахәрақәагьы роуеит 60-ҩык инарзынаԥшуа ауаа. Бахреин аҳ апринц инапы ианиҵоит аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгара, аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы, аха аоппозициа уи мап ицәыркуеит. Амчрақәа Абырлаштә дәы аруаа иаанрыжьырц адҵа аныҟарҵа анаҩс, уахь адемонстрантцәа неиуеит.
Хәажәкырамза 14 рзы, Бахреин аиҳабыра ССАГПЗ аҳәынҭқаррақәа ринтервенциа иалагеит: аҳ Фахда ицҳа ала Бахреин иалалеит 1000-ҩык саудовтәи асолдаҭцәа, 500-ҩык аполициа аусзуҩцәа ОАЕ (ОАЭ) аҟнытә. Хәажәкырамза 15 рзы Бахреин аҭагылазаашьа ҷыда алагалан. Иара убри аҽны дшьын саудовтәи асолдаҭ.
Адемонстрантцәа амчрақәеи дареи реидыслара аҟны хҩык ҭахеит, 200-ҩык ахәрақәа роуит. Хәажәкырамза 16 рзы архәҭақәа Манама адәы хада аҟынӡа инеиуеит адемонстрантцәа еимырпуа. Иҭахеит хәҩык ауаа, шәҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит. Хәажәкырамза 17 рзы ирбаандаҩын аоппозициа анапхгаҩцәа фҩык. Арҭ ақәгыларақәа ирылҵшәаны ааҩык аоппозициатә активистцәа аҳәынҭқарратә аарҳәра ахьеиҿыркааз азы рыԥсы ҭанаҵы аҭакра рықәырҵеит, даҽа жәахаҩык иара убри азы ҩышықәса инаркны жәохә шықәса рҟынӡа рықәырҵеит. 

Кувеит ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 18, 2011 шықәса рзы. Атәыла ақалақьқәак рҟны имҩаԥысит адемонстрациақәа, атәылауаҩра змамыз ахыбраҿы арабцәа злахәыз, дара зинда ишьақәгылаз рыԥсҭазаара азиншьаҭа аҭара иазықәԥон. 

Ара ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 22 рзы, аполициатә участок аҟны астудент даныршь ашьҭахь. Анаҩс аграждантә акциақәа ирхылҿиааит арратә қәгыларақәа, урҭ рыхәаҽра ашьакаҭәарақәа рыцын. 

Ирак ақалақьқәа рҟны акәзар, ақәгыларақәа ирылагеит жәабранмза 25, 2011 шықәса рзы, Нури аль-Малик иеиҳабыра ирҿагыланы, арҭ ақәгыларақәа раан иҭахеит 23-ҩык, шәҩыла ахәрақәа роуит. 

Жәабранмза 15, 2011 шықәса рзы ливиатәи ақалақь Бенгази аҟны аполициеи, аиҳабыра рыдгылаҩцәеи, апротестантцәеи еидыслеит. Уи зыхҟьаз азинхьчаҩы иҭакра ауп, аха убри аан Ливиатәи ареволиуциа аԥхьагыла Муаммар Каддафи иахҳәаразы ааԥхьара ҟаҵамызт. 
Триполи акәзар, Каддафи идгылара иазырхаз амитингқәа мҩаԥысит. Аха уи аԥхьа 213-ҩык аинтеллигенциа ахаҭарнакцәа Каддафи иԥхьатәара дҵаны иқәдыргылахьан. 
Азинхьчаҩцәа иҟарҵоз адыррақәа рыла, Ливиа хымш имҩаԥысуаз акциақәа ирылагӡаны иҭахеит 84-ҩык ауаа. Жәабрамза 28, 2011 шықәса рзы Еиду Америкатәи Аштатқәа ливиатәи аҳәаа азааигәара ар аизгара иалагеит.
Ливиа иалагеит аграждантә еибашьра Каддафи идгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи рыбжьара, ари аконфликт жәларбжьаратәи амчрақәа аланагалеит.

Жьҭаарамза 17–19 рзы, Аиасратә милаҭтә хеилак аиҳабыра рырхәҭақәа ақалақь Бени-Валиди Сирти рнапахьы иааргеит. Муаммари Каддафи ихаҭагьы Сирт азааигәара дшьын иқәгылоз рнапала.
Жьҭаарамза 23 рзы, Аиасратә милаҭтә хеилак Ливиа Каддафи ирежим аҟынтә ахы иақәиҭтәуп ҳәа рыланаҳәеит. 

Арабтәылақәа раԥхьагылаҩцәа аӡәи-аӡәи еишьҭагыланы рхатәы реформақәа ирылагеит (Кувеит, Иорданиа, Оман, Алжир, Катар), акыр атәылақәа (Мысра, Ливиа, Тунис) рҟны аиҳабыра ахҳәаны ԥхьатәара ишьҭын, Саудовтәи Аравиеи Бахреини ақәгыларақәа шьақәыртәан, Шьамтәыла иахьауажәраанӡагьы аоппозициеи амчреи реидысларақәа мҩаԥысуеит, Иемен апрезидент дақәшаҳаҭхеит иара иламкьысреи амчреи реиҭныԥсахлара. Мысреи, Шьамтәылеи, Ливиеи, Иемени рҟны арадикалтә исламистцәа рпозициа аҽарӷәӷәеит.




#Article 88: Аӷарра (1432 words)


Аӷарцәа, аӷарра — аӷарра ҳәа азырҳәоит убас еиԥш ауаҩы иҭагылазаашьа, иара аԥсҭазааразы зыда ԥсыхәа ыҟам рыла ихы, иҭаацәа реиқәыршәара анилымшо. 

Аӷарра цәырҵуеит асоциалтә цәырҵрақәа реизыҟазаашьақәа реилагара иахҟьаны: аусураҟны аиҟарара; аҭагылазаашьаҟны аиҟарара; аизыҟазаашьақәа рҟны аиҟарара; ауаҩы — аилазаара- аԥсабара, ауаҩы — асоциалтә гәыԥ – акласс — аилазаара реиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҟны. Абарҭқәа рышьаҭақәа рҟны ауп ахархәаратәи алҵшәаашьҭратәи мчрақәас иҟоу аилазаарақәа реиҟараразы, уи аҵакы аарԥшрас иҟоуп аусуратә аамҭеи ахақәиҭра аамҭеи реизыҟазаашьа. 

Аӷарра аҭоурых ауаажәларра ыҟоуижьҭеи аҭыԥ шамоугьы, ари афеномен аҭҵаара ианалагаз 70—90- тәи ашықәсқәа ралагамҭазы ауп. 
Аӷарӡахара ҳаамҭазы — ари иглобалтәу социалтә шәарҭароуп. Аусурҭа аҟамзаара, аекономикатәи асоциалтәи ҭышәнымтәалара, агәыӷрақәа рынамӡара, апланқәа рхыбгалара — абарҭқәа зегьы аӷаррахь ауааԥсыра кылызго процессқәоуп. Аӷарра апроблема ишиашоу ауаҩи ауаҩи реизыҟазаашьақәа, асоциалтә формақәа, аџьа, аџьа алҵшәақәа уҳәа ирхьыԥшуп.
Аҭаацәара ӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп аҳәынҭқарратә статистика ахәшьарақәа рыла, аҭаацәараҟны аӡәы иоуа аԥара, арегионалтә ахархәаратә калаҷкәыр ахәԥса аасҭа еиҵазар. 

Аӷарра зыхҟьо аҭҵаара иалагеит XVIII ашәышықәса инаркны XX ашәышықәса азбжанӡа иаҵанакуа аамҭахәҭазы. Уи ҭызҵаауаз иреиуан: А. Смит, К. Маркс, Е. Реклиу, Д. Рикардо, Г. Спенсер, Т. Мальтус, Ж. Прудон, Ч. Бут и С. Раунтри. XX ашәышықәсазы арҭ аҭҵаарақәа ирыцырҵеит Ф.А. Хаиек, П. Таунсенд уҳәа егь. XIX ашәышықәсазы аҭаацәара ахьынӡаҕару еилыркаауан аҭаацәаратә биуџьет аҭҵаара ала, раагарҭақәа зеиԥшроу, урҭ ауаҩы иҭахрақәа рзын иахьынӡазхо, аусура ахьынӡаилшо, игәабзиара зеиԥшроу уҳәа азгәаҭаны.
Аҕарра апроблема аҭҵааразы даара рлагала дууп аекономистцәа, асоциологцәа, урҭ иазгәарҭон аӷарра аҭыԥ ду шамоу, насгьы аҳәынҭқарра ари апроблема аԥыхразы алахәра хымԥадатәины ишырыԥхьаӡо.
Урыстәылагьы Европа еиԥш ари апроблема иазхьаԥшын XIX ашәышықәса азбжазы. Аҕарра аҭыԥ ахьынӡамоу аилкааразы еизган астатистика, урҭқәа ашәҟәы иҭаргалон ахылаԥшратә комиссиақәа. Ари апроблема аарԥшын аекономистцәа — асоциологцәа В. В. Берви-Флеровски, К. А. Пажитнов, М. И. Туган-Барановски русумҭақәа рҟны.
Актәи Адунеизегьтәи аибашьранӡа аҭҵаарақәа фба мҩаԥган, С. Прокопович, М. Давидович, И. Шапошников, А. Стопани, В. Андреев, В. Горицки, Г. Наумов рыбзоурала. Зегь реиҳа еицырдыруа ҭҵаарахеит 1909 шықәса рзы А. М. Стопани имҩаԥигаз, уи акьыԥхь абеит 1913 шықәса рзы. Ари аусумҭа амҽхак ҭбаан – 2339-ҩык ауаа рыбзазашьа азгәаҭан, урҭ 80 зҵаара рҟынӡа рҭакқәа дырҟаҵан.
Урыстәыла Стопани иусумҭа Санкт-Петербург имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи Агиганттә цәыргақәҵа аҟны, 1913 шықәса рзы, аҳаҭыртә дипломқәа ҩба анашьан. Дипломк — аҭҵаара ахаҭазы ианашьан, аҩбатәи — ахархәара зиҭаз аметодологиа азы. Аусумҭа анефтааглыхратә усуҩы ибиуџьет иазкын, иахьа уажәраанӡагьы ас еиԥш аҭҵаара ыҟам, уи быжь - милаҭк ирыҵаркуа ауаа рҭахрақәеи рбиуџьети ирзынархан.

Ари аҭҵаара инақәыршәаны, зегь реиҳа заагарҭа маҷу гәыԥны иԥхьаӡоуп — 250 мааҭ иреиҵаны изауаз, урҭ ироуаз аҟынтә аԥшьбатәи ахәҭа зегьы рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵоит, усҟантәи аамҭазы зегь реиҳа заагарҭа дууз 900 мааҭ зауаз аиҳарак рфизиологиатә ҭахрақәа ирыхҭнырҵон; хықәкыла иҭҵааз аусурҭа змамыз рбиуџьетқәа ракәын. 1918 шықәса рзы ишьақәыргылан раԥхьаӡа акәны иреиҵоу абиуџьет, ақалақьқәа рҟны аусуцәеи амаҵзурауааи рбиуџьетқәа ракәзар, 1927 шықәсанӡа рыҭҵаара мҩаԥысуан, аколхоз амаҵ азызуаз ракәзар, рбиуџьет ҭырҵаауан 1929 шықәсанӡа, аҵыхәтәантәиқәа реиҳарак афальсификациа рызун. 
Аҭҵаарақәа рҟны аҵак ду аман атранзиттә тәылақәа рҟны аҕарра аҭагылазаашьа, урҭ еиҿдырԥшышаз рыман, даҽакала иаҳҳәозар, асоциал-демографиатә гәыԥқәа, традициала иӷарцәахоз — аҭаацәара рацәақәа, ихаҭәаам аҭаацәарақәа, зықәрахь инеихьо, атәынчахәы мацара ала зыԥсы еивызго, насгьы аинфлиациа иахҟьаны иӷархаз, аусура аҟамзаара уҳәа.

Аӷарра амзызқәа даараӡа еиуеиԥшымызт; ауааԥсыра рацлара, ахырҵәаратә еибашьрақәа, атәыла аӷарра, ацәаҩашәатә мзызқәа, аграбааԥсқәеи, аихбаалареи рыцлара уҳәа егь. 

Аӷарра еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьоит аҟынтә, иара еиуеиԥшым агәыԥқәа рахь еидыркылоит:

Адунеитә практика аҟны иалыркаауеит аҕарра зыхҟьо азы ихадоу х-концепциак: зынӡа царҭа змам аҕарра; аӷарра азхьарԥшратә концепциа; аӷарра асубиективтә концепциа. 

Ари атермин асоциологцәеи антропологцәеи иҳадыргало иӷару ауаа рынхашьа-нҵышьа аиҭаҳәаразы иаанаго уи ауп, аҕарра иалааӡоу абиԥарақәа иҷыдоу анхашьа ишашьцылоу, анаҩс изызҳауа абиԥара ишрымардо.
Зегь реиҳа аҕарра акультура аидеиа иазааигәаз антрополог Оскар Лиуис иоуп. Уи игәаанагарала, иара аҿиара иаҿыз, акапиталисттә ҿиара змаз, аилазаарақәа рҟны имҩаԥигоз аҭҵаарақәа иаадырԥшит аӷарцәа рхымҩаԥгашьа, рыԥсҭазаашьа, рыгәрахаҵарақәа зехьынџьара ишеиԥшыз.
Иахьатәи амш ала анхара, уаҵәтәи азымхәыцра, ахацәа ршовинизм, аҭаацәарақәа рматриархалтә еилазаара, афатализм, абарҭқәа зегьы ауаажәларра аҟны иӷарӡаз ирылаҽны иҟан. Убри анаҩсгьы аҕарцәа азанааҭеидгылақәа, аполитикатә партиақәа, аекономикатә усура уҳәа рхы рыламырхәра, насгьы илаҟәӡоу ауаажәларратә еилазаараны рыҟалара дара рмаргиналтә ҭагылазаашьа еиҳагьы иаруадаҩуан.
Лиуис ас еиԥш игәаанагаразы, аҕарцәа рҭагылазаашьа ауадаҩра дара рхаҭақәа иахьырхараиҵоз азы жәаҳәарада акритика ҕәҕәа изыруан. Аха ус шакәызгьы, Лиуис игәаанагарала, аӷарра акультура, аӷарра ацәцара иаҿагылон, уи иԥхьаӡон аҕарцәа ркультура ацәхьаҵра рыԥсҭазаара шеиӷьнатәуа. 

Аӡәырҩы аспециалистцәа, асоциалтә еиқәыршәара ахырхарҭаҟны аус зуаз, даара иџьаршьон аҕарцәа ирыдыргалоз ацхыраара адкылашьа иахьақәымшәоз. Даҽа џьоукы ргәаанагарала, асоциалтә цхыраагӡақәа аҕарцәа рыԥсҭазаара аиӷьтәра иацхраауам ҳәа рыԥхьаӡон. Уимоу, ас еиԥш ацхыраара ишьақәнарӷәӷәоит status quo ҳәа агәаанагара рыман, асоциалтә усзуҩцәа рнапы злаку аӷарцәа ирзоурыжьуа аԥарақәа асоциалтә хылаԥшра рыҭара ауп ҳәа рыԥхьаӡон, убри аан аҭагылазаашьа аиҕьтәра акәымкәа. 
Аилазаарақәа, иӷарӡаз араионқәа рҟны аԥсҭазаара аиҕьтәразы иаԥырҵоз апроектқәа иџьбараз акритика рызун, избанзар урҭ хыхь-хыхь иҩыз, иҭҵаамыз проектқәан. Аҕарра акультура атермин акыр акритика шазузгьы, уи даара анырра ҟанаҵеит асоциалтәи аԥсихологиатәи цхыраара аҟаҵаразы амеханизмқәа раԥҵара аҟны. Аӡәырҩы асоциалтә усзуҩцәа русура аҟны ирықәшәон хаз игоу ауаа, аҭаацәарақәа, аилазаарақәа, урҭ зегьы Лиуис итеориа шьақәдырҕәҕәон дара рдунеихәаԥшышьа ала. 

Миллиардла ауаа зланхо аҕарреи арыцҳахәхареи ари XXI ашәышықәсазтәи уаажәларратә проблема дуны иаанхоит. 1992 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аӡбамҭа ала ишьақәырҕәҕәан аҕарра аԥыхра, уи иаҿагыланы ақәԥаразы Жәларбжьаратәи амш, иара 1993 шықәса раахыс жьҭаарамза 17 рзы есышықәса иазгәарҭоит. 
Ари арыцхә алхра машәыршақә иҟамлеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ари арыцхә алнахаанӡа хәышықәса уи аԥхьа, 1987 шықәса жьҭаарамза 17 рзы, Париж, Брокадеро адәаҟны имҩаԥысит ауаа рзинқәа рыхьчареи, аӷарра аԥыхреи ирызкыз амитинг, уи шә-нызқьҩык рҟынӡа ауаа еизнагеит. Амитинг ду иалахәыз иазгәарҭон миллионла ауаа рҕарра уи рзин еилагара шакәу. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи ззырхаз адунеи ахԥатәии аԥшьбатәии атәылақәа рахь иаҵанакуа шракәу — урҭ зекономика акыр илаҟәу атәылақәа роуп. 

Анаука — техникатә прогресс даара аҿиара шамоугьы, ҳаамҭазы адунеи аҿы иҟоу аиҟарамра иазымҳауазар иагхом. Ас еиԥш аҭагылазаашьа ыҟоуп адунеи атәылақәа зегьы рҟны, аҿиара бзиа змоугьы уахь иналаҵаны. 
Даҽакала иуҳәозар, иҕарыз еиҳагьы иҕархеит, амал змаз рмал иацлеит. 2016 шықәса рзы иҟаҵаз аҭҵаарақәа инарықәыршәаны, адунеи аҟны зегь реиҳа амал змоу 62-ҩык ауаа убри аҟара амал рыман, зегь реиҳа иҕарыз х-миллионки фышә нызқьҩык ауаа, мамзаргьы адгьыл аҟны иҕару рыбжаҩык иааизакны ирымаз амал аҟара шьақәнаргылон.

Амультимиллионерцәа идырҳаз амал зыхҭнырҵара анырзымдыруа аамҭазы, миллиардла ауаа адунеи зегьы аҟны имлагоит, рӷарра изаҵыҵуам. Адунеи аҟны афатә апроблема даара иҵарны иқәгылоуп.  Амлакра — ари иацтәи мшым, ари иахьатәи рыцҳара дууп. Амлакра иахҟьаны иахьа уажәраанӡагьы ауаа ԥсуеит, урҭ рыбжьара иҟоуп имаҷымкәан ахәыҷқәа. 

Есыҽны ҳаамҭазтәи адунеи аҟны имлаго рхыԥхьаӡара миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз ажәахә инақәыршәаны, 852 миллионҩык ауаа иахьа адунеизегьы аҟны имлагоит. 1,2 миллиардҩык ауаа, ари адунеи ауааԥсыра рхыԥхьаӡара аҟынтә ахәбатәи ахәҭа шьақәнаргылоит, мышкы долларк ҳәа инхоит. Адунеи аҟны 54 % ахәыҷқәа рыԥсра зыхҟьо амлакра ауп. 
Ас еиԥш алкаақәа ҟанаҵеит Адунеизегьтәи агәабзиарахьчаратә еиҿкаара. Амлакра амзыз хадақәа ауаа ирызхо аԥара ахьырмоуа ауп, ахԥатәии аԥшьбатәии адунеи атәылақәа рахь иаҵанакуа ауаа аԥара рымамзаара анаҩсгьы, иахьынхо аԥсабаратә ҭагылазаашьақәагьы ҽеим, уи иахҟьаны дара ақыҭанхамҩа рнапы рзалакуам, аарҩара, аԥслымӡ, арра — политикатә конфликтқәа уҳәа аҿиара рырҭом. 
Адунеи аҟны зегь реиҳа амлакра ахьыҟоу ҭыԥуп Атропикатә Африка. Ари арегион амлакра аепицентр ауп ҳәа азуҳәар ҟалоит, ара ес-ҽны имлашьуа рхыԥхьаӡара иацымлозар иагхом. Уи зыдҳәалоу еиҳаракгьы ауаарацәа ахьиуа ауп. 
Зегь реиҳа ауаа ахьиуа адунеи аҭыԥқәа рахь иаҵанакуеит — Нигериа, Мали, Буркина-Фасо, Либериа, Сиерра - Леоне, Уганда, Адемократиатә Республика Конго уҳәа егьырҭ Африкатәи аҳәынҭқаррақәа. Арҭ атәылақәа рҟны аекономикатә ҭагылазаашьа аҿиара амам, насгьы аарҩара иахҟьаны ауаа аԥсреи анхареи ирыбжьагылоуп. 
Аха, Африка мацара акәым ауаа ахьымлаго. Миллионла ауаа млашьуеит Непал, Бангладеш, Индиа, Индонезиа, Пакистан. Арагьы ауаарацәа ииуеит, аҕарра аҭыԥ ду шамоугьы. Индиа акәзар, регионалтә тәыланы, насгьы економикатә ҿиарала ишхәыдамгьы, имлашьуа рпроблема аӡбара алшом. Уи зыхҟьо ауааԥсыра рырацәара, аусурҭа ҭыԥқәа рыҟамзаара, аҵарадырра алаҟәра роуп. 
Латинтәи Америка акәзар, ара аҭагылазаашьа маҷк еиӷьзаргьы, амлакра аҭыԥ амоуп. Амлакра алыркаауеит Боливиа, Перу, Гондурас, Гватемала уҳәа рҟны. Карибтәи амшын аҟны «Амлакра адгьылбжьаха» ҳәа иашьҭоуп Гаити.  Европеи Аҩадатәи Америкеи рҟны акәзар, ари апроблема шыҟоугьы, егьырҭ адунеи атәылақәа ирыҿурԥшуазар, усҵәҟьа иҵарны иқәгылам. Ара имлашьуа аҩны змами ҭынха дызмами роуп.  Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа ртәы ҳҳәозар, амлакра азҵаара ықәгылоуп Абжьаратәи Азиа атәылақәа рҟны — Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Кыргызсҭан. Иара убасгьы ари азҵаара ықәгылоуп Урыстәылагьы, арагьы заагарҭа маҷу ауаа рахьтә амамзаара зныруа маҷҩым.

Даара рҭагылазааша бзиам ахымхәацәа, атәанчаҩцәа, аҭаацәара дуқәа, урҭ зынӡа имлашьуа иҟамзаргьы, раагарҭақәа даара имаҷуп.
Европа тәылақәак рҟны акәзар, иахьатәи амҭазы абанк аҟны аԥара ззалам ауаҩы дҕаруп ҳәа дрыԥхьаӡо иалагахьеит. Даҽа ганкахьала уахәаԥшуазар, Урыстәылатәи Афедерациа аҟны иӷаруп ҳәа иԥхьаӡоуп анхаразы имаҷӡоу аагарҭа змоу ауаа, уи шаҟа ыҟоу аҳәынҭқарра ишьақәнаргылоит. 

Ари апроблема аӡбаразы иҟоуп еиҿагыло ҩ - азнеишьак.
Актәи азнеишьа еиҳа аларҵәара амоуп. Уи иҕару ауаа ԥарала ацхыраара рыҭара, аԥара рызшәара ауп. Ари зегь реиҳа имариоу знеишьоуп, аха апроблема ахаҭа азыӡбом, аҭагылазаашьагьы еиҕьнатәуам. Аҳәынҭқаррақәа, иара убасгьы, ахныҟәгага змам ауаа рзы рдырра аизырҳаразы, азанааҭ роуразы аусқәа еиҿыркаауеит, аха азанааҭ змоу ауаҩы усурҭа ҭыԥла иеиқәыршәара ус имариам, дара аусурҭа аҭыԥқәа рыҟамзаара иахҟьаны, мамзаргьы аусура азы алшара аҟамзаара иахҟьаны. 

Абасала, актәи азнеишьа аҟны, даҽакала иуҳәозар, аҳәынҭқарра амалуаа ашәахтәқәа рықәнаҵоит аӷарцәа рыцхырааразы, мамзаргы асоциалтә программақәа аԥнаҵоит. Аҩбатәи азнеишьа аҳәынҭарра аекономика аҽаламгалара аидеиа ауп шьаҭас иамоу. 
Ари атеориа адгылаҩцәа ргәаанагара ала, аҳәынҭқарра иӷару ауаа рыԥсҭазааратә позициа ашьҭыхра иашьҭазар ауп. Уи анаҩсгьы амалуаа рмазара аекономика ашьҭыхра иаларгалалар ауп, уи иабзоураны ицәырҵуеит аусурҭа ҭыԥқәа, уи иагьалнаршоит аҕарцәа рыпроблема аӡбара аҳәынҭқарра аламырхәӡакәан. Ас еиԥш азнеишьа аларҵәара лҽазылшәеит 1970—1980-тәи ашықәсқәа рзы Британиа Ду анапхгара рхада Маргарет Тетчер.




#Article 89: ОБСЕ (1025 words)


ОБСЕ ( , ) — Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара. Адунеи аҟны зегь реиҳа идуу регионалтә еиҿкаароуп, иара ашәарҭадара азҵаарақәа анапы алакуп. ОБСЕ еиднакылоит 57 тәыла, Аҩадатәи Америкеи, Европеи, Агәҭатәи Азиеи рҟны иҟоу.

Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны, уи 35 ҳәынҭқарра рхадацәа алахәын уи аҽны рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт.

Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) еиҿкаан нанҳәамза акы, 1975 шықәса рзы Финлиандиа, Хельсинки ақалақь аҟны. Уа 35 ҳәынҭқарра рхадацәа рнапы аҵарҩит Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт. Аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа реизара иаку жәларбжьаратәи аполитика арегион аҟны ааԥхьара азыҟаҵара шьақәзыргыло раԥхьаӡа акәны иҳәан, уи аидеиа Бухарест 1966 шықәса рзы, ОВД аблок иалоу европатәи атәылақәа рсоциалисттә лагер ахаҭарнакцәа рыбжьара. Аамҭак анаҩс ари ажәалагала адгылара арҭеит Франциеи егьырҭ мраҭашәаратәи аҳәынҭқаррақәеи. Аха зегь реиҳа ари аус аҟны апозициа ҕәҕәан Финлиандиа. Ари атәыла ауп ажәалагала ҟазҵаз ас еиԥш аиԥыларақәа, иара аҳҭнықалақь Хельсинки амҩаԥгаразы. Заанаҵтәи аконсультациатә етап мҩаԥысуан абҵарамза 1972 шықәса инаркны, ԥхынгәымза 1973 шықәсанӡа. Аицәажәара мҩаԥыргон 33 европатәи ҳәынҭқарра рҟынтә аделегатцәа, иара убасгьы Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рхаҭарнакцәа. Ари аетап аҟны иаку абжьгарақәа анаҩстәи аусеицура алкаара иазкын, ишьақәыргылан арегламенти, аиҿцәажәарақәа рымҩаԥгаразы амшхәаԥштә азҵаарақәа. Раԥхьатәи аиԥылара мҩаԥысит ԥхынгәымза, 1973 шықәса рзы. Ари арыцхә инаркны Европа Ашәарҭадареи аусеицуреи рзы аиҿкаара (ОБСЕ) аусуразы аҳасабрбақәа рыҟаҵара азгәаҭан. Ари аетап аҟны аилацәажәара иалахәын Албаниеи Аҩадатәи Америка аҳәынҭқаррақәа ҩбеи рнаҩсгьы, европатәи аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа зегьы.  Иԥшаан ихадароу азҵаарақәа рзын еицырзеиԥшу адыррақәа, уи аныԥшит «Ахыркәшаратә абжьгарақәа» рҟны. Аҩбатәи   аетап аҟны, уи Женева имҩаԥысуан цәыббрамза 1973 шықәса инаркны ԥхынгәымза 1975 шықәсанӡа, аиҿцәажәарақәа мҩаԥызгоз атәылақәа ишьақәдырӷәӷәон иаку аусеицуразы еиҳа ихадоу ахәҭақәа, уи иахьынӡауа ала, алахәцәа зегьы ринтересқәа ирықәшәон, насгьы аимак-аиҿак цәырызгоз азҵаарақәа рыла еиқәышаҳаҭхартә аҭагылазаашьа аԥнаҵон.
Ахыркәшаратә акт анапаҵаҩра мҩаԥысуан ԥхынгәымза анҵәамҭеи нанҳәамза алагамҭеи рзы 1975 шықәса рзы Хельсинки. Уи аус рхы аладырхәт аиқәышаҳаҭра зыбжьазҵоз 35 тәыла реиҳабыра анапхгара. Алкаатә еиқәышаҳаҭра аофициалтә хьӡы аман «Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аилатәара Ахыркәшаратә акт» («Заключительный акт СБСЕ») ҳәа, иофициалтәымкәа ари аиқәышаҳаҭра «Хельсинсктәи аиқәышаҳаҭра» ҳәа иашьҭан. 

Хельсинктәи аиқәышаҳаҭра ахәҭа хадақәа ахыркәшаратә документқәа рҟны официалла иарбан Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алҵшәақәа. Ара, иара убасгьы, жәларбжьаратәи азинтә еизыҟазаашьақәа апринцип хадақәа жәаба арбан. Урҭ рыбжьара иалкаатәуп европатәи атәылақәа ишьақәгылоу рҳәаақәа рыхмырбгалаеи, ахаламырхәреи апринцип, аҳәынҭқаррақәа реиҟарара, ауаҩы ихақәиҭрақәа рахьтә ихадоу ашьаҭақәа, амилаҭ ахатәы лахьынҵа аӡбаразы амилаҭқәа рзинқәа. Уи анаҩсангьы, аиқәышаҳаҭрақәа аус рыдулан акультуратә, арра-политикатә, азинтә, агәыҳалалратә хырхарҭақәа рыла реизыҟазаашьақәа. Абри инаркны Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Ахеилак лассы-лассы еиқәшәо иалагеит. Аиԥыларақәа мҩаԥысуан Белград (1977–1978 шш.), Мадрид (1980–1983 шш.), Стокгольм (1984 ш.), иара убасгьы Вена (1986 ш.). Зегь реиҳа иалкаатәу еилацәажәарахеит Париж цәыббрамза 1990 шықәса рзы имҩаԥгаз, уи рхы аладырхәт атәылақәа-алахәылацәа рнапхгара ҳаракы. Ари аилацәажәара аҟны ауп иахьрыдыркылаз еицырдыруа Парижтәи ахартиа, уи иабзоурахеит ихьшәашәаз аибашьра ахыркәшара, анапы аҵаҩын бџьарла аиқәыршәаразы аиқәышаҳаҭра, иара убасгьы адокумент аҟны ибжьаҩын ихадараз, анаҩстәи аконсультациақәа рзы аиҿкааратә зҵаарақәа. 

Иара убри ашықәс азы Стокгольм имҩаԥгаз аилацәажәараҿы иалагалан даҽа ҭыԥкгьы СБСЕ амаӡаныҟәгаҩ хада. 1993 шықәсазтәи аиԥылараҿы, уи Рим имҩаԥысит, Иааицмырҟаӡакәа есқьынагь аус зуа ахеилак аԥҵаразы аиқәышаҳаҭра рыдыркылеит, уахь атәылақәа-алахәылацәа ахаҭарнакра аарԥшразы рделегатцәа нарышьҭуан. Убри ала СБСЕ еснагь аус зуа еиҿкаарак аҳасаб ала ашьақәгылара иалагеит. Ахьӡи ауси форматк ахь акылгаразы, 1994 шықәса рзы Будапешт аӡбамҭа рыдыркылеит, СБСЕ ахьӡ аԥсахразы, уи Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара ҳәа иԥсахын (ОБСЕ). Ари ақәҵара амчра аиуит 1995 шықәса рзы.
Абарҭқәа рышьҭахь, даара акрызҵазкуаз Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аделегатцәа реиԥыларақәа мҩаԥысуан Лиссабон (1996 ш.), Копенгаген (1997 ш.), Осло (1998 ш.), Сҭампыл (1999 ш.), Вена (2000 ш.), Бухарест (2001 ш.), Лиссабон (2002 ш.), Маастрихт (2003 ш.), Софиа (2004 ш.), Лиублин (2005 ш.), Асҭана (2010 ш.). Арҭ афорумқәа рҟны ирылацәажәан арегионалтә шәарҭадара, атерроризм, асепаратизм, ауаҩы изинқәа рзы иҟоу ауадаҩрақәа уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа. Иазгәаҭатәуп, 2003 шықәса раахыс Урыстәыла Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) акыр апозициа ӷәӷәа шааннакылаз, уи апозициа акыр атәылақәа- алахәылацәа реиҳарак рпозициа зынӡа еиԥшымызт.  Абри иахҟьаны иаку азҵаарақәа акыр аԥыхын. Аамҭаказы иҟан убас еиԥш ацәажәарақәагьы, Урыстәылатәи Афедерациа Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалҵыр ҟалоит ҳәа.

Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) ахықәкы хадақәа иреиуоуп Европа иахьаҵанакуа аҭышәынтәалареи аҭынчреи рышьақәыргылара. Ари аҳасабтә анагӡаразы аиҿкаара активла аҳәынҭқаррақәеи, аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәеи рыҩныҵҟа аҭыԥ зауа аимак-аиҿакқәа рҭышәныртәалара активла иалахәуп, иара убасгьы хылаԥшра анаҭоит абџьар аларҵәара, адипломатиатә усмҩаԥгатәқәа нанагӡоит апрофилактикатә ҟазшьа змоу, еиуеиԥшым аҭыӡшәақәа раԥырҟәҟәааразы. Аиҿкаара арегион аҟны аекономикатә ҭагылазаашьеи аекологиеи ирышьклаԥшуеит, насгьы Европа атәылақәа рҟны ауаҩы изинқәа рыхьчара хылаԥшра анаҭоит. Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) аусура азынархоуп атәылақәа-алахәылацәа рҟны алхрақәа рымҩаԥгара амониторинг рзура, уи азын алхрақәа ахьымҩаԥысуа атәылақәа рахь анаԥшыҩцәа дәықәнаҵоит. Аиҿкаара адемократиатә институтқәа рыҿиара иалкаан аус аднаулоит.

Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара (ОБСЕ) иалоу аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа зегьы иаку, зегьы ирзеиԥшу астатус рымоуп, аӡбамҭақәагьы рыдыркылоит аконсенсус шьаҭас иҟаҵаны. Дара рзын ихадарам аиуристтә ҟазшьа аныҟәгара, аха акыр аполитикатә ҵак ду рымоуп.
Аиҿкаара аштат иалоуп: аиҿкаара анапхгараҭаратә органқәа рҟны 370-ҩык ауаа, иара убасгьы 3500-ҩык инарзынаԥшуа аусзуҩцәа адәнытәи миссиақәа рҟны аус руеит. 

Атәылақәа-алахәылацәа рахьтә аиҿкаара аҟны еиҳарак аҭыԥқәа змоу Европа атәылақәа роуп. Иааизакны ОБСЕ иалоу атәылақәа-алахәылацәа 57 ыҟоуп. Европа анаҩс ари аиҿкаара иалахәуп ҩ- ҳәынҭқаррак Аҩадатәи Америка аҟнытә (Канадеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи), иара убасгьы азиатәи атәылақәа жәпакы (Монголиа, Узбекисҭан, Таџьикисҭан, Туркментәыла уҳәа егь.). Аха алахәыла истатус – ари ак акәӡам аиҿкаараҿы иҟоу. Аусеицуразы партниорцәас иԥхьаӡоуп Афганистан, Тунис, Марокко, Израиль уҳәа акыр аҳәынҭқаррақәа.

Ахантәаҩыс иҟоу (; уи ахантәаҩыс иалырхуа, атәыла- ахантәаҩыс иҟоу Адәныҟатәи аусқәа рминистр иоуп) – напхгара аиҭоит ОБСЕ аусура. Насгьы акоординациа азиуеит аусбарҭақәа русуреи ОБСЕ аинститутқәеи. Аиҿкаара адгылара мҩаԥигоит, хылаԥшра аиҭоит, акризистә ҭагылазаашьа аҟны аконфликтқәа рыӡбара дацхраауеит.

Амаӡаныҟәгаҩ хада - Амаӡаныҟәгарҭа дахагылоуп. Иара аминистрцәа Рхеилак ауп амаҵура дахазыргыло, ҿҳәарас хышықәса аҭаны:

Аиҿкаара аорган хадақәа иреиуоуп:

Европа ашәарҭадареи аусеицуреи рзы Аиҿкаара аҿы ахархәара змоу официалтә бызшәақәоуп: англыз бызшәа, аиспан бызшәа, аиталиан бызшәа, анемец бызшәа, аурыс бызшәа, афранцыз бызшәа.

ОБСЕ еизаку абиуџьет ҩ-хәҭакны ишоит: амаӡаныҟәгарҭеи аинституқәеи рбиуџьети адәнытәи операциақәа рбиуџьети ҳәа. 2013 шықәса рзы аиҿкаара абиуџьет ишьақәнаргылеит 145 миллион евро. 

ОБСЕ Апарламенттә ассамблеиа иалоуп атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа. Ари аилазаара аԥҵан 1992 шықәса рзы апарламентбжьаратә еиҿкаараны. Уи аилазаараҿы иҟоуп 300-ҩык адепутатцәа, урҭ уахь иназышьҭуа атәылақәа-алахәылацәа роуп. Ари аусбарҭа аштаб-квартира Копенгаген иҟоуп. Апарламенттә ассамблеиа ахадараҿ иҟоуп ахантәаҩи амаӡаныҟәгаҩ хадеи. ПАСЕ аҳәаақәа ирҭагӡаны аус руеит иааиԥмырҟьаӡакәа аус зуа ҷыдалатәи акомитетқәа хԥа.
ОБСЕ аҵакы
Акыр агхақәа амазаргьы, ОБСЕ аҵакы мыцхә иҳаракны ашьара залыршахом. Ари аиҿкаара дууп, уи атәылақәа-алахәылацәа аимак- аиҿак зцу азҵаарақәа рзы аӡбамҭақәа рыԥшаар ахьрылшо, иалкаау проблемак азы ӡбамҭак адкылара ахьрылшо еиҿкаароуп. Убри анаҩсангьы, аиҿкаара акыр аџьабаа аднабалоит европатәи атәылақәеи адемократиатә еилазаарақәеи рҟны ауаҩы изинқәа рыхьчарагьы.




#Article 90: Аетнос (1393 words)


Аетнос ( — ажәлар, народ) – ари обиективла, мамзаргьы субиективла еицырзеиԥшу аҟазшьақәа рыла еибарку ауаа ргәыԥ ауп. Аетнологиа еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирыҵаркуеит ахылҵшьҭра, абызшәа, акультура, анхарҭа аҵакырадгьыл, ахдырра уҳәа реиԥш иҟоу аилкаарақәа.

Ҭоурыхла раԥхьатәи ауаа рсоциалтә еилазаараны иҟан шьала-дала еизааигәаз аилазаарақәа – аклан, ажәлантә. Урҭ араса излеиԥшымыз – дара аҿиара змаз, хаҿсахьала еиԥшыз абиологиатә ҷыдарақәа змаз ауаа ракәын (ацәеижьы аԥшшәы, ахцәы, ахаҿсахьа, аҟазшьа уҳәа). Есҽнытәи аибабара, аиҿцаара, ақьабзқәа, рдунеихәаԥшышьа, рынцәахаҵарақәа уҳәа ирыбзоураны ауаа рҽеидыркылон. Урҭ рыԥсҭазаараҿы ароль ду нанагӡон, дара зхылҵыз аӡә иакәны ахьырыԥхьаӡоз, насгьы аԥсабара амчрақәа иахьреихырхәоз. Ас еиԥш ахәыцрақәа ауаа реидкылара анаҩсгьы, аижәлантәқәеи акланқәеи арӷәӷәон, аколлективтә хдырра шьақәнаргылон. Ажәлақәеи акланқәеи реилаӡҩара анымҩаԥысуаз, урҭ рышьақәгылара азы фактор хадақәаны иҟалон аҭоурых – географиатә хылҵшьҭратә зеиԥшзаара, аԥсабаратә зеиԥшзаара, ақьабзтә зеиԥшзаара. Акланқәеи ажәлантәқәеи реиҿцаара иабзоураны имшьҭраны ианеидылалак, ишьақәгылон ақьабз ҿыцқәа, азхаҵарақәа, аҟазшьақәа, ицәырҵуан ирзеиԥшу абызшәа. 
Абарҭқәа рылагьы ишьақәырӷәӷәахон ас еиԥш аилазаарақәа рзы иҷыдаҟазшьоу акультура. Даҽакала иуҳәозар, араса еиԥшымкәа аетнос аҽаԥсахлар алшоит, избанзар аетникатә гәыԥқәа акультура аҿиара иадҳәалоуп, иалкаау аетапқәа символра рзыруеит. Аимшьҭрақәа ракәзар, урҭ иалкаау ҵакырадгьылк иадҳәалоуп, ирыхьчоит, аҩныҵҟатәи аиҿкаара рымоуп. Адгьылқәаарыхреи арахәааӡареи ианалага инаркны ишьақәгылоит иалкаау анхамҩатә еиҿкаарагьы. Арҭқәа зегьы аетникатә зеиԥшзаара арҿиаразы агәызҭаҵарас иҟалон. Аимшьҭрақәа реилалара иҿыцу азеиԥшзаара шьақәнаргылон – ажәларқәа ҳәа ззырҳәо, уи символра азнауан еиҳа зкультура ҳараку аилазаара ацәырҵра. Ари аматериалтә культурахьгьы иаҵанакуеит (амыругақәа, амаҭәа, анхарҭа), адоуҳатә ахьгьы (ақьабзқәа, амифқәа, анормақәа, азхаҵарақәа, жәлар рҟазара), даҽакала иуҳәозар, уи ишьақәнаргылоит афольклортә культура. 
Аетнологцәа рыбжьара аетноси аетносреи рзы иаку еилкаарак ыҟам, убри инамаданы иалыркаауеит еиҳа иаларҵәоу атеориақәеи аконцепциақәеи:
Примордиализм – ари аилыркаара иаанаго ауаҩы иетникатә дҳәалазаара ала аԥсабара, мамзаргьы аилазаара аҟны зхатәы шьаҭа змоу иоуп;

Аетнос адуалисттә теориа – ари аконцепциа аетносқәа рыҟазаара ҩ-ҵакыкны иахәаԥшуеит. Ари аконцепциа Ҩ. В. Бромлеи зхадараҿы дыҟаз АН СССР аетнографиа аинститут аусзуҩцәа иаԥырҵаз ауп;
Асоциобиологиатә хырхарҭа – ари ахырхарҭа иазгәанаҭо аетносра аҟазаара, уи ауаҩы ибиологиатә хаҭарала ашьақәыргылара ауп. Аетникатә адҳәалазаара примордиалтәуп, уи даҽакала иуҳәозар, ауаа аханатә ирҟазшьан;
Аконструктивизм – ари атеориа ала уахәаԥшуазар – иԥсабаратәымкәа иҟалаз шьақәгылароуп, даҽакала иуҳәозар, ауаа хықәкыла русура иарҿиаз акоуп;
Аинструментализм – ари аконцепциа ала аетносра – мыругоуп, уи ала ауаа рхықәкқәа ирызнеиуеит. Аинструментализм ахырхарҭаҟны иалыркаауеит – аелитартә инструментализми аекономикатә инструментализми. 
Изакәызеи аетникатә дҳәалазаара?
Аетнос – ари асоциалтә гәыԥк иаҵанакуа рҭагылазаашьа ауп, дара ирымоуп амилаҭтәи акультуратәи традициақәа. Ари аилыркаара концепциоуп; аетникатә гәыԥқәа инарҭбаау, мамзаргьы иркьаҿу аҵакы рыҭаны аилыркаара ауҭар алшоит. Иаҳҳәозар, ари аилыркаара убас еиԥш иҭбаазар ауеит, «Америка иашьагәыҭу» («коренные американцы») реиԥш, мамзаргьы «чероки» ҳәа изышьҭоу реиԥш иркьаҿзаргьы ауеит.
Даҽа ҿырԥштәык – индиатәи асубконтинент – индиаа етникатә гәыԥкны иԥхьаӡазар алшоит, аха аус аҟны иҟоуп жәабала акультуратә традициақәеи агәыԥхәҭақәеи – гуџьартиаа, пенџьабаа, бенгалиаа, томилаа уҳәа реиԥш иҟоу, урҭгьы етникатә гәыԥ иашаҵәҟьаны иҟоу роуп. Даҽа ҿырԥштәык: Британиа Ду аҟны ауаа – урҭ зегьы британеццәоуп ҳәа уԥхьаӡаргьы алшоит, аха, даҽакала иуҳәозар, дара англичанеццәоуп, шотландеццәоуп, валииццәоуп. 

Иаагозар, кавказаа (аевропеоидтә) рраса. Мака Мак Конаилл, ирландиатәи анатомиа апрофессор, кавказаа рфизиологиатә ҟазшьарбага дахцәажәеит абас: «Ишкәакәоу ацәеижьи, илашоу аблақәеи, иҭшәоу аԥынҵеи, ипоу ақьышәқәеи змоу.  Урҭ рыхцәқәа иашоуп, мамзаргьы иҳәуеит».
Ирҳәоит кавказаа зегьы иреиҵоу адыԥшылахәра рымоуп ҳәа, ахыԥыцқәа зҭоу ахаԥыцшьапҭыԥ баҩқәа рҟны, иаагәоуҭаратәы рхыбаҩ рылахь аҟны иқәацәуп, иара убасгьы адыԥшылахәра рхаҿы агәҭатәи ахәҭаҟны. Ауаҩы, зҭеиҭыԥш абарҭ аҟазшьарбагақәа ирықәшәо, кавказаа дреиуоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Кавказаа еснагь рцәеижь шкәакәам, аха Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны «ишкәакәоу» ажәа рхы иадырхәеит ауаа шкәакәақәа ралкаара азы. Кавказаа адунеи атәылақәа жәпакы рҟны иуԥылоит. 
Абасала, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟни Франциеи кавказаа еиуеиԥшым арасатә ҷыдарақәа рымазар шауа еиԥш, уаҟа инхауа ауаа ирымоуп еиуеиԥшым аетникатә хылҵшьҭрагьы – аӡәы дамериканецуп, егьи – дыфранцызуп. Аамҭа дук иалагӡаны дара еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәалоит, еиуеиԥшым атрадициақәа ныҟәыргалоит, еиуеиԥшым анцәахаҵарақәа рымазаргьы ауеит, уи анырра ӷәӷәа анаҭоит аҭыԥантәи акультура. Аха иазгәаҭатәуп, «арасеи» «аетникатә дҳәалазаареи» аилкаарақәа асубиективтә ҟазшьа рымазаргьы шауа, арҭ аилкаарақәа рыбжьара иҟам иалкаау ҳәаак. Атерминқәа арасатәи аетникатәи дҳәалазаара ашықәсқәа цацыԥхьаӡа рҵакы аҽеиҭанакуан, насгьы арасатәи аетникатәи термин ауаҩы ихаҭара ииашамкәа ианахцәажәогьы ҟалалоит, избанзар уи еиуеиԥшым арасақәеи аетникатәи гәыԥқәа дахьрыҵаркуа азы. 

Абызшәа – ауаа злеицәажәо, излахәыцуа, ргәаанагарақәа злеибырҳәо мыругоуп. Иара ишиашоу иамоу ахәыцра – акоммуникативтә функциақәа рнаҩсгьы, акрызҵазкуа аетносоциалтә функциақәагьы нанагӡоит. Абызшәа акзаара – ари ҭагылазаашьоуп аетникатә акзаара ашьақәгыларазы. 
Ас еиԥш аизааигәара абызшәа аетнос азы ихадароу обиективтә ҷыдарахоит, иара убасгьы аетникатә дҳәалазаара иасимволхоит. Убри аан абызшәеи аетноси рҭоурыхтә еимадара даара изаау аамҭа иаҵанакуеит, машәырнгьы иҟамлаӡеит аетнос ахатәыхьӡи (аетноним) иашьашәалоу абызшәақәеи ахьеиқәшәо. 
Уи инақәыршәаны, абызшәа асоциалтә функциақәа ртәы анаҳҳәо, абызшәа афункциақәагьы аетникатә ҷыдарақәа рыла иалкаатәуп, даҽакала иуҳәозар, абызшәа аетноеидыҵратәи аетноинтеграциатәи аҟазшьа ҷыдарақәа амоуп. Абызшәа аетносоциалтә функциақәа даара ибзианы иубоит амилаҭ аҿиареи аԥсҭазаареи рҷыдарақәеи рҟны. Абызшәа аҟноуп иахьаныԥшуа ажәлар рдырратә, реилкааратә ԥышәа, иара аморал-етикатә, асоциал-естетикатә, асахьаркыра-ааӡаратә идеалқәа. Жәаҳәарада, абызшәа иара ахала, даҽа факторк иахьыԥшымкәа изыҟалом, иара ауаа рыбжьара (аполитикатәи, аекономикатәи, аҵакырадгьылтәи, аԥсихологиатәи еимадара) амилаҭтә еимадара аԥнаҵоит.

Алингвисттә аспект атәы уҳәозар, амилаҭ аҿиара хнаркәшоит, амилаҭбжьаратә аларҵәара зауз, аҭыԥантәи адиалектқәа ихадоу аԥсҭазаара аҟынтәи алцара зылшаз, алитературатә бызшәа анаԥҵаха аамҭазы.  Абызшәеи аетноси реимадареи реихьыԥшызаареи убоит, аетнос аҭагылазаашьа ҿыц аҟны иахәҭоу абызшәатә форма аҭахханы ианыҟало аамҭазы. Ажәларра иалкаау аҭоурыхтә етникатә дҳәалазаараны изыҟалом, изышьақәгылом, аимшьҭратә бызшәа, мамзаргьы адиалекттә форма ахархәара иаҟәымҵзар. Убри аан, ажәларра ирышьашәалаз абызшәатә форма амилаҭ ианкарыжьуа, амилаҭ азы зда ԥсыхәа амам акәны иҟоуп абызшәа аҩыратә форма, даҽакала иуҳәозар, алитературатә бызшәа.
Ишдыру еиԥш, иарбанызаалак ажәлар досу дара рхатәы бызшәала ицәажәоит (абызшәа аҩныҵҟа адиалекттә еиԥшымзаара убри аҟара идузар ауеит, еиуеиԥшым ажәлар ргәыԥқәа, зегьы ирымоу еицырзеиԥшу алитературатә бызшәа ала ацәажәара рзалыршомызт). Убри аан, даара аларҵәара аиуеит аҩбызшәара (билингвизм), уи ажәлар ахәҭак, мамзаргьы ажәлар зегьы есҽнытәи рыԥсҭазаара аҟны аҩбызшәакгьы ахархәара анарҭо ауп. 
Аҩбызшәара – ари амилаҭрацәа ахьынхо аҳәынҭқаррақәа рҟны даара аларҵәара амоуп, уи амилаҭ маҷқәа, дара рхатәы базшәа анаҩс, иахьынхо амилаҭрацәа рхаҭарнакцәа рбызшәа рхы ианадырхәо, ианалацәажәо ыҟоуп. Имаҷым аҭагылазаашьақәа, ажәларқәак бызшәак ала ианцәажәо. Убас англыз бызшәала, мамзаргьы уи аҭыԥантәи авариантқәа рыла ицәажәоит англичанеццәа, англо-австриеццәа, англо-зеландиаҿыцаа, англо-канадеццәа, англо-африканеццәа, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны инхо американеццәа, иара убасгьы Карибтәи абассеин атәылақәа рҟны инхо ажәларқәеи егьырҭ аетносқәеи ари абызшәала ицәажәоит. 
Абызшәа ацәажәаратә (разговорный) формеи аҩыратә формеи (алитературатә) рыла иалыркаауеит. Аҩыратәи алитературатәи абызшәақәа змоу амилаҭқәа роуп. Ацәажәаратә бызшәа аетносқәа роуп иныҟәызго, урҭ адиалектқәа рыла ишоит (наречия).
Абызшәақәа акыр рыҩныҵҟа, убри аҟара адиалекттә еиԥшымзаарақәа ыҟоуп, етноск иатәу рыбжьара аилибамкаара аҟынӡа ианнанаго (иаҳҳәозар: ҵаҟанемецтәи хыхьтәинемецтәи адиалектқәа, акитаи бызшәа адиалектқәа уҳәа егь.).
Уи инадҳәаланы, еиуеиԥшым абызшәақәеи адиалектқәеи бызшәак иатәны азгәаҭара – ари инықәырԥшшәа иҟаҵоу еилкаароуп. Убри аҟынтә алингвистцәа рзы иуадаҩуп абызшәеи адиалекти рыбжьара аиԥшымзаара ашьақәыргылара. Аетнологцәа урҭ реиҟәыҭхагас ирыԥхьаӡоит зхатәыхьӡи зхатәыхдырреи шьақәгылаз аетносқәа рыҟазаара афакт ала. Аха, ас еиԥш азнеишьа, еснагь еиԥш иалнаршом лкаак аҟаҵара, избанзар абызшәеи аетноси рыбжьара аизыҟазаашьақәа аныуадаҩугьы ҟалалоит, убри аҟынтә урҭ реиқәшәарагьы хымԥадатәиим. Убри азоуп ҳаамҭазы адунеи аҟны иҟоу абызшәақәеи ажәларқәа рхыԥхьаӡареи зеиқәымшәогьы. 

Аетнос акультура инарҭбаау аилыркаараҿы – ари аетнос еидызкыло ҷыдаҟазшьоуп, ԥсҭазаароуп.  Иара ада ԥсыхәа ыҟам аетнос аҿиареи аиқәырхареи рзы. Иааизакны иуҳәозар, аетностә культура – ари аетнос аматериалтәи адоуҳатә культуреи еидызкыло, ихадароу етнодифференциатә ҷыдароуп. 

Аетникатә культура – ауаатәыҩса реиԥшҵәҟьа ижәытәӡатәиуп. Акультура змам ажәларқәа ыҟаӡам иахьатәи аамҭазгьы, иҟамызт ахааназгьы. Иарбан жәларызаалак ркультура шьақәгылоуп иара ажәлар рзы мацара иалкаау аҷыдарақәа рыла, аха убри аан урҭ аҷыдарақәа егьырҭ аетносқәа рыбжьарагьы иҟоуп, уи ҳаамҭазтәи аҭоурыхтә аамҭазы ауаатәыҩса зегьы ирҷыдаразаргьы ауеит. 
Аетникатә культура ршоит аматериалтәи адоуҳатәи ҳәа. Аматериалтә иаҵанакуеит идыру аамҭахәҭак азы иҟаз - аџьа амыругақәа, амцаагага амаҭәарқәа, абџьар, анеиааига маҭәарқәа, аидарамҩангагақәа, анхарҭа уҳәа реиԥш иҟаз иаҵанакуаз аргыларақәа, афатә, ажәтә, ачысмаҭәа, абзазаратә маҭәарқәа, амаҭәа, аимаа, ахылԥахкқәа, аҽырԥшӡага маҭәарқәа уҳәа ирацәаны.
Адоуҳатә культура акәзар, ари информациоуп, иара ыҟоуп аколлективтә, мамзаргьы зыԥсы ҭоу иарбан уаҩратә популиациазалаакгьы ахшыҩ рхы иархәаны, ажәлар еимырдоит ажәабжьҳәарала, мамзаргьы арбарала, еиуеиԥшым ахымҩаԥгашьатә формақәа рыла. 
Адоуҳатә культурахь иаҵанакуеит убас еиԥш акомпонентқәа, атрадициара, аҭышәынтәалара уҳәа реиԥш иҟоу аҟазшьарбагақәа змоу: аџьатә ԥышәа, аҵасқәа, ақьабзқәа, алеишәа, анхамҩа иадҳәалоу, ауаажәларратәи аҭаацәаратәи ԥсҭазаара, еиуеиԥшым аҟазара хкқәа, жәлар рнапҟазара, адинхаҵареи акульти. Убриаан, аетникатә ҷыдарақәа ныҟәызго ракәны иҟалоит (еиҳаракгьы ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьа аҟны) апрофессионалтә доуҳатә культура, зегь раԥхьа иргыланы, асахьаркыратә. Етносцыԥхьаӡа акультура иадҳәалоуп иара абзазарагьы. Абзазара иаҵанакуеит ауаа ҷыдала есҽнытәи рхымҩаԥгашьа, иара убасгьы ауаа рыбжьара ишьақәгыло аизыҟазаашьақәа, рматериалтәи рдоуҳатәи ҭахрақәа рынагӡаразы амаҭәарқәа рыхрархәашьа.
Ажәларқәа бызшәак ала ицәажәо, ҵакырадгьылк аҟны инхо, нхамҩала еидҳәалоу ршара акритери хадақәа иреиуоуп иҷыдоу ркультуратә хаҿра. Иҟалоит убас еиԥш ажәларқәа, ҵакырадгьылк аҟны инхо, иаку аекономикатә база змоу, бызшәак ала ицәажәо, аха иҟалом ҩ-жәларык, еиԥшу культурак змоу. Ажәлар рхатәы культуратә ҷыдара анырцәыӡ, уи хаз игоу, зхала иҟоу етносны изыҟалом. 

Амилаҭ – адоуҳатә, акультура-политикатә, асоциал-економикатә акзаароуп аиндустриалтә аамҭазы. Амилаҭ ари аетнос иреиҳау аформа ауп, ажәларра ахаҭыԥан ицәырҵыз. Аетносқәа рыҟазаара адунеи аҭоурых аҟны еснагь иазгәарҭозҭгьы, амилаҭ ашьақәгылара аамҭаны иԥхьаӡоуп Иҿыцу, мамзаргьы Иҿыцӡоу аамҭа. Амилаҭ иаҵанкуеит акымкәа-ҩбамкәа аетносқәа, ҭоурыхтә лахьынҵала еидҳәалахаз, еизааигәахаз.
Аетнос – ари ауаа ргәыԥ ауп, аобиективтәи асубиективтәи ҷыдарақәа змоу. Аетнос – аҵакдура иҭышәынтәалоу гәыԥк аҵанакра ауп, амилаҭ акәзар, хықәкыс иамоуп иҿыцу, еиҳау аҿиара ашьҭазаара.
Аӡәырҩы аҭҵааҩцәа ргәаанагарала, аилкаарақәа «амилаҭи» «аетноси» еиԥшым. Аетнос азы аҭышәынтәалареи акультуратә ҿырԥштәқәеи реиҭаҟалара аҟазшьазар, амилаҭ рзы даара акраҵанакуеит иҿыцу итрадициатәу аелементқәа реилалара апроцесс ахдырраҿы аагара. Абри алагьы еилкаауп аетнос азы иҭышәынтәалоу агәыԥ аҵанакра еиҳа ишхадароу, амилаҭ рзы аҿиара анхадароу аамҭазы. 




#Article 91: Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара (1144 words)


Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара () – Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу ҷыдалатәи усбарҭоуп, иара шьақәгылоуп 194 ҳәынҭқарра-лахәылацәа рыла, урҭ рнапы иануп адунеи ауаапсыра ргәабзиарахьчара жәларбжьаратәи апроблемақәа рыӡбара.  

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара – ари, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҳәаақәа ирҭагӡаны агәабзиарахьчара аусхк аҿы жәларбжьаратәи аусура ҳәаақәызҵо усбарҭоуп. 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара апкаанҵа амчра аиуит 1948 шықәса апрель 7 рзы – убринахыс есышықәса ари амш - агәабзиара адунеизегьтәи амш акәны иазгәарҭоит.
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ирықәныҟәоит апкаанҵаҿы иарбоу апунктқәа:
Агәабзиара – ари ауаҩы ачымазареи агреи имамзаара мацара акәӡам, уи идоуҳатә, исоциалтә ҭагылазаашьагьы ауп.
Агәабзиара ӷәӷәа амазаара ауаҩы изин хадақәа ируакуп, иарбан расоу, дину, политикатә зхаҵароу, социалтә ҭагылазаашьоу имоу иахьмырпшыкәа.
Ажәларқәа зегьы ргәабзиара фактор хаданы иҟоуп аҭынчреи ашәарҭадареи рынагӡараан, уи ахьыпшуп хазы игоу ауааи аҳәынҭқаррақәеи русеицура.
Иарбан ҳәынҭқарразаалак аҟны агәабзиара ахьчареи аиӷьтәреи русхк аҿы аихьӡарақәа зегьы рзы хәы змоу акоуп.
Еиуеипшым аҳәынҭқаррақәа рҿы агәабзиарахьчара еиҟарамкәа аҿиареи, ачымазара ҿкы иаҿагыланы ақәпареи зегьы еицырзеипшу шәарҭоуп.
Ахәыҷы игәы бзианы иааӡара зегь рапхьа игылоуп, уҳәа убас егьырҭ ахәҭаҷқәагьы. 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара адиректор хадас адоктор Тедрос Адханом Гебреиесус дыҟоуп 2017 шықәса раахыс. Адоктор Тедрос имаҵура данахагыла инаркны, аиҿкааразы иаликааит хра злоу ахырхарҭақәа хәба: агәабзиарахьчара амаҵзура азеипш мҽхакы; агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ҷыдақәа; аҳәсеи, ахәыҷқәеи, ақәыпшцәеи ргәабзиара; аҳауеи иааҳакәыршаны иҟоу апсабареи рҽеиҭакрақәа ауаҩы игәабзиара ишаныпшуа; агәабзиара адунеизегьтәи аиҿкаара апсахрақәа ралагалара. 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи ассамблеиа – аӡбамҭақәа здызкыло, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иреиҳау аусбарҭа акәны иҟоуп.  Аиҿкаара иалоу 193 ҳәынҭқарра рҟынтәи аделегациақәа злахәу есышықәсатәи асессиақәа мҩапысуеит Женева, маи мзазы. 
Анагӡаратә комитет шьақәгылоуп агәабзиарахьчара аусхк аҿы атехникатә квалификациа змоу ҩажәи жәипшьҩык алахәылацәа рыла. Акомитет алахәылацәа алырхуеит хышықәса ҿҳәарас ирыҭаны.
Агәабзиарахьчара ассамблеиа афункциа хадақәа ируакуп аиҿкаара аусураҿ азеипш политикатә хырхарҭақәа ралкаара. Агәабзиарахьчара ассамблеиа далнахуеит адиректор хада, аиҿкаара афинанстә политика иахылапшуеит, иара убас ишьақәнарӷәӷәоит апрограмматә биуџьет проект. 

Егьырҭ атәылақәа рҟны аусеицура иабзоураны Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшеит агәабзиара арӷәӷәара аусхк ахырхарҭақәа жәпакы рҿы пхьаҟацара.
Еиуеипшым атәылақәа рҿы аус зуа 149 биуро, арегионалтә биуроқәа 6, Женеватәи аштаб-квартиреи рҟны аус руеит 149 тәыла рҟынтә 7000-ҩык инареиҳаны ауаа.
Аҳақьымцәеи, азеипш гәабзиарахьчара аспециалистцәеи, анаукатә усзуҩцәеи, аепидемиологцәеи рыдагьы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҿы аус руеит административтә, афинанстә, аинформациатә системақәа рнапхгараҭара аусхк аҿы азыҟаҵара иахысыз ауаа, иара убас агәабзиарахьчара астатистика, аекономика, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан ацхыраара аусхк аҿы аекспертцәа. 
Бызшәарацәала иапҵоу асаитқәеи, иара убас агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара акьыпхьымҭақәеи аресурсқәеи ирыбзоураны амедико-санитартә информациа роуртә алшара рымоуп изҭаху зегьы, дара рбызшәала. Уи, амедико-санитартә информациа еиҳа ииашаны, хаҳарала аиура иацхраауеит.
Бызшәарацәала аинформациа рызнагара цхыраагӡа дууп адыррақәа рхарҭәаареи, ауаа рыбжьара аилибакаара аиӷьтәреи рҟны. Уи иабзоураны агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара иалшоит азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы апрактикатә методика еиҳа хаҭабзиарала ахархәара, жәларбжьаратәи аудиториа арҭбаара, адунеи зегь аҟны агәабзиара аганахьала алҵшәа бзиақәа раарпшра. Абасала, бызшәарацәала аинформациатә усеицура, агәабзиарахьчара мҽхакы ҭбаала аиӷьтәраҟны инструмент хаданы иҟоуп.  

Агәабзиарахьчара асистема ацхыраара ҟанаҵоит еиуеипшым атәылақәа рҿы агәабзиарахьчара аиӷьтәразы, агәабзиарахьчара апрограммақәа рхаҭабзиара ашьҭыхраҿы, уи иалкаау ароль нанагӡоит. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара хылаԥшра анаҭоит арегионалтә, аглобалтә ҭагылазаашьақәа, агәабзиарахьчара аусхк аҿы атенденциақәа, ачымазарақәеи агәабзиара аҭагылазаашьеи рзы аинформациатә системақәа џьарак еиднакылоит. Иҿыцу арбагақәеи амедико-санитартә информациеи хадара злоу акоуп азеипш гәабзиарахьчара аусхк аҿы, иахәҭоу аресурсқәа рзоужьреи, ахылапшреи, ахәшьара аҭареи рзы аӡбамҭа адкылараҟны. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, зхаҭабзиара ҳараку аинформациатә ресурсқәа рхархәара, рапҵара, реимдара амеханизмқәа рырӷәӷәаразы. 

Иҿкым ачымазарақәа – агәыхь, аинсульт, акьыба чымазарақәа, ашьақар чымазареи арыпҳа чымазареи, аԥсихика аилагара, иара убас ақәымчреи атравмақәеи ирыхҟьаны адунеи аҿы зыпсҭазаара иалҵуа рхыпхьаӡара 70% иреиҳауп. Жәаба рахьтә аа-хҭыск ҟалоит злагала лаҟәу, мамзаргьы ибжьаратәу атәылақәа рҿы. Арҭ ачымазарақәа рыхҟьапҟьақәа агәабзиарахьчара аҳәаақәа ирҭыҵуеит, ицәырҵуа апроблемақәа рыӡбаразы иаҭахуп ачымазарақәа рыхәышәтәреи рыпрофилактикеи рсистема ирыднагало аасҭа еиҳау даҽакы.  

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аусура зегьы адҳәалоуп апсҭазаара аҵыхәтәанынӡа агәабзиара арӷәӷәаразы ацхраара аҟаҵара, ҳасаб рызнауеит аекологиатә факторқәа, агендертә аспектқәа, аиаша адгылара, ауаҩы изинқәа рықәныҟәара разхьарпшра. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы урҭ русура хықәкыс иамоуп атәылақәа рыбжьареи, хазы игоу тәылақәак рҟны ананамгацәеи амалуааи рыбжьареи аиҟарамра армаҷра.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит атәылақәа, ВИЧ, арыпҳа чымазара, ашыӡ, ирхашҭхьоу атропикатә чымазарақәа рцәырҵраан ахәышәтәреи амедицинатә цхырааралеи реиқәыршәаразы, иара убас вакцинала аанкылара зылшо ачымазарақәа реиҵатәразы. Арҭ ачымазара ҿкқәа рыхәышәтәраҿы иаагәоуҭаратәы апрогресс ыҟоуп, аха ари ахырхарҭаҿы макьана иҟаҵатәу рацәоуп.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара ароль ахь иаҵанакуеит атәылақәа ацхыраара рыҭара хықәкыс измоу агәабзиарахьчара анапхгара аҳәаақәҵара, апыжәара зҭатәу алкаара, астратегиа аус адулара, аҭаҵәахқәеи афинанстә ресурсқәеи рыла реиқәыршәара, иара убас агәабзиарахьчара аусхк аҿы аҭагылазаашьа ахылапшра. Убри инаҷыданы, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атәылақәа ацхыраара рнаҭоит рмилаҭтә потенциал арӷәӷәараҟны, аҭагылазаашьа ҷыдақәа раан анырра аҟаҵаразы, урҭ рышьҭахь аиҭашьақәыргылараҟны. 

Акорпоративтә маҵзурақәа рахь иаҵанакуеит ацхыраагӡатә функциақәа, аинструментқәа, аресурсқәа, урҭ рыбзоурала аусурақәа зегьы рынагӡара алыршахоит. Иаагозар, акатегориа «акорпоративтә маҵзурақәа» еиднакылоит анапхгаратә усбарҭақәа, аполитика аус адуларазы аҳәынҭқарра-алахәылацәа реипыларақәа еиҿызкаауа; жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа аус рыдулараан аиуристтә ҟәша ирыднагало аконсультациақәа; агәабзиарахьчара иадҳәалоу аинформациа аларҵәаразы ауаажәларра реимадаразы аусзуҩцәа рҟынтәи ацхыраара; ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы адунеи аҿы иреиӷьу аекспертцәа адзыпхьало аперсонал аус рыдуларазы аҟәша аусура, иара убас иарӷәӷәоит агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аофисқәа 150 инареиҳаны рҿы аус зуа 7-нызқьҩык аусзуҩцәа  ауадақәеи ахархәагақәеи рыла еиқәзыршәо амаҵзурақәа.
Иазгәаҭатәуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара абзоурала ишҭыжьу ашәҟәы, аиҿкаара аҭоурых зегьы зныпшуа, аплакатқәеи асахьақәеи рыла еиқәыршәоу. Асахьақәа иаадырпшуеит жәашықәсала агәабзиарахьчара аганахьала ахырхарҭақәа рыҽшырыпсахуаз, арекламатә тенденциақәа, аҳәынҭқарратә нормативтә актқәа, апхьаҩцәа ирыднагалоит рыхшыҩ азырышьҭырц ауаажәларратә гәабзиарахьчара шыҿиоз, насгьы урҭ реиӷьтәра шалшо. Ашәҟәы иагәылоуп адунеи еиуеипшым атәылақәа рҟынтәи ауаажәларратә гәабзиарахьчара аусхк аҿы аплакатқәа реизга ду, англыз, арабтә, аиспан, акитаи, аурыс, афранцыз бызшәақәа рыла.
Ашәҟәы рызкуп агәабзиарахьчара аспециалистцәа, аполитикатә усзуҩцәа, апрограммақәа рнапхгаҩцәа, амедицинатә институтқәа рыстудентцәа, уи рхы иадырхәар рылшоит аграфикеи, асоциалтә усуреи, мамзаргьы агәабзиарахьчара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызҿлымҳау. Аа-хык иргәылоуп агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионқәа зегьы рҟынтәи аплакатқәа реизга. 

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара асаит аҟәшақәа руак аҿы иупылоит аинформациеи ҳаамҭазтәи акоронавирустә ҿкы COVID-19 иадҳәаланы аиҿкаара иҟанаҵо абжьгарақәеи, ари ачымазара рапхьаӡа акәны ашәҟәы иҭагалан Китаи, Ухань ақалақь аҿы 2019 шықәса, декабр 31 рзы. Ари адаҟьаҿы есыҽны ианырҵоит ачымазара ацәырҵра иазку актуалра злоу аинформациа.
Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара аус рыцнауеит жәларбжьаратәи аекспертцәа, аиҳабырақәа, апартниорцәа, ҿыц ицәырҵыз ачымазара ҿкы иазкны анаукатә рбагақәа иаарласны риуразы, уи аларҵәара ахылапшразы, атәылақәеи, урҭ руаапсыреи ргәабзиара ахьчаразы абжьгарақәа рыҟаҵаразы, ачымазара аламырҵәараз ргәырҽанырҵарц.

Шәацклапшла COVID-19 иазкны аиҿкаара авеб-саит аҿы ишәоурц зылшо иҿыцӡоу аинформациа. Еиҳарак ачымазара имарианы имҩасуеит, аха иҟоуп аҽанарцәгьогьы. Акоронавирустә чымазара аҽацәыхьчаразы, уааигәасигәа иҟоу ргәабзиара ахьчаразы абасеипш апҟарақәа ирықәныҟәалатәуп:
Лассы-лассы шәнапқәа шәыӡәӡәала, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьала. Избанзар, унапы авирус ақәтәазар, сапынла иуӡәӡәар, мамзаргьы аспирт злоу ахархәагақәа рыла иурыцқьар, урҭ ашьуеит. 

Ауаарацәа ахьыҟоу аҭыпқәа рҿы метрак шәыбжьаны шәгылазароуп, еиҳаракгьы урҭ еимҳәозар, рпынҵа еихачызар, ашоура рымазар.
Избанзар, акоронавирус чымазара змоу ауаҩы данеимҳәо, ма данеимсо икәшамыкәша авирус злоу ацәыкәбарқәа ипсаҟьоит. Уи иааигәара шәгылазар шәыпсып анылажәгаҩажәго ачымазара ҿкы шәара шәахь ииасыр ауеит.

Избанзар, ауаҩы инапала дрыхькьысыр алшоит авирус зықәтәоу амаҭәарқәа. Шәнапы аинфекциа шамоу шәылақәа, шәпынҵа, шәҿы шәрыхькьысыр, шәцәеижь аҟынтәи авирус шәыҩныҵҟа ицар ҟалоит. 

Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәҿы асалфетка адкылаз, ма шәмашьхәылҵ, уи ашьҭахь иаразнак асалфетка ахҩа змоу агәамсам зҭарыпсо аконтеинер иҭашәыршә, шәнапы аспирт злоу ахархәагақәа рыла ишәрыцқьа, ма сапынла ишәыӡәӡәа.
Избанзар, шәанеимҳәо, шәанеимсо шәпынҵеи шәҿи ашәыркыр авирус алаҵәара ааннакылар ҟалоит. Шәанеимҳәо, шәанеимсо шәнапы шәпынҵа, шәҿы иадышәкылар амикробқәа шәнапаҿы иаанхар алшоит, анаҩс амаҭәарқәа, мамзаргьы ауаа шәрылакьысыр урҭ рахь ииасуеит.

Шәара акоронавирус чымазара ахьалаҵәоу атәылақәа рҟынтәи шәаазар, мамзаргьы уантәи иааз, авирус чымазара змоу ауаа шәрыдтәалазар, уи азы амедицинатә усзуҩы адырра иҭатәуп.
Ашоура ахалара, аимҳәа, апсып лагаҩагара аныцәгьоу, иаразнак аҳақьымцәа ирыдҵаалатәуп, избанзар уи ачымазара ҿкы ицәырнагазар ауеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьа амзызқәа рацәаны иамазар ауеит, урҭ рыбжьара иҟазар алшоит 2019-nCoV.
Шәацклапшла иҿыцу аинформациа, шәрықәныҟәала амедицинатә специалистцәа рабжьгарақәа. 




#Article 92: Де Голль, Шарль (1281 words)


Шарль Андре Жозеф Мари де Голль () – афранцыз генерал, аполитик, Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа еицырдыруаз атанктә еибашьра атактик иаҳасаб ала Аҩбатәи адунеизгьтәи аибашьра аан зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа раҧхьагыла, 1944–1946-тәи ашықәсқәа рзы аамҭалатәи аиҳабыра рхада. Аконституциа ҿыц агәазырхаҵаҩы, насгьы 1958 шықәса инаркны 1969 шықәсанӡа Ахәбатәи ареспублика актәи ахада.

Диит Шарль де Голль акрызкыз аҭаацәараҿы, иара иҭаацәа католикцәан. Иаб Анри де Голль Вожирар амҩаҟны игылаз Иезуиттәи аколлеџь аҟны аҭоурыхи афилософиеи амаҭәарқәа дрыҧхьон. Шарль адинхаҵара иадҳәалаз аҵарадырра иоуит, ирацәаны даҧхьон, дхәыҷаахыс алитературахь аинтерес ду ааирҧшуан, ажәеинраалақәагьы иҩуан. Ажәеинраалақәа зыҩуаз аҵаҩцәа рыбжьара имҩаҧгаз аицлабра аҟны де Голль иигаз аиааира аан идыргалаз аҧаратә ҳамҭеи иажәеинраалақәа ркьыҧхьреи рыбжьара, аҩбатәи алихит. Де Голль убасгьы, аҭоурых даара дазҿлымҳан, иара иҭаацәа ракәзар, рхылҵшьҭреи, урҭ иаадырҧшхьаз афырхаҵарақәеи ирылаҽхәон: аҭаацәаратә легенда инақәыршәаны, де Голльаа рҭаацәара аҟнытә Жеган захьӡыз, Жанна д'Арк лныҟәара далахәын.
Де Голль хәыҷы иаб иеиҭеиҳәоз арҭ ажәабжьқәа даара бзиа ибон, иабшьҭра рҭоурыхқәа дрызҿлымҳан. Аӡәырҩы, иаҳҳәозар Уинстон Черчилль де Голль дихыхәмаруан, уара «Жанна д’Арк лхыхьымӡшьрақәа умоуп» ҳәа. Аҧхьаҟа игенералхараны иҟаз де Голль данхәыҷыз, Франциа пату ду зқәыз, иҧшьаз Жанна д'Арк ҳәа ззырҳәоз данлеиҧхыӡуазгьы ыҟан, иҧхыӡқәа рҟны лареи иареи Франциа ахьчаразы рыжәҩақәа еидҵаны еибашьуан. 

Ихәыҷраамҭақәа раан де Голль иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуахеит ауаа напхгара рзуреи, ииҳәоз анагӡареи. Уи иҟазшьа аҷыдарақәа ирыбзоураны, иара ихаҭагьы, иашьцәагьы, иаҳәшьагьы имаӡаз абызшәа рҵеит, уи абызшәаҟны ажәақәа шьҭахьлантъ ҧхьаҟа иаҧхьон.
Иҳәатәуп, афранцыз орфографиа азы ас еиҧш аҧхьара алыршара акырӡа ишыуадаҩу, иаҳҳәап аурыс, англыз, анемец бызшәақәа рҟны аасҭа, аха ус шакәызгьы, Шарль де Голль даҿамхаӡакәаны ари абызшәа ала ажәабжьқәа еиҭеиҳәар илшон. Иара еснагь ихшыҩ арҵарра аус адиулон, уи ифеноменалтә ҟазшьақәа иааигәа иҟаз дыршанхон, де Голль илшон 30–40 даҟьа рҟынӡа ирныз гәынкыланы ҿырҳәала аҳәара, ажәакгьы бжьамыжькәа. Де Голль данқәыҧшыз инаркны ҧшь-дисциплинак рахь аинтерес иман: алитература, аҭоурых, афилософиа, арратә ҟазара. Афилософцәа рахьтә иара идунеихәаҧшра еиҳа анырра азҭаз дыруаӡәкуп Анри Бергсон, уи иҵарадыррақәа рҟынтә зегь реиҳа иҧсҭазаараҿы ихадарахаз идунеихәаҧшышьа ашьақәгылареи, есҽнытәи ихымҩаҧгашьа шьақәзыргылоз адыррақәа роуп. 
Актәи – Бергсон иҧхьаӡон ҧсабарала иаҧу ауаа ршара – иалкаау абиҧареи иргәаҟу ажәлари ҳәа – ари адемократиа аҧхьа адиктатура иамоу ҧыжәароуп ҳәа.

Аҩбатәи – ацәалашәаратәи философиа, уи инақәыршәаны ауаҩы иусура зегьы зыдҳәалоу аинстинкти ахшыҩи реинырра ауп. 
Арҭ ахшыҩҵакқәа де Голль акыр хра злоу аӡбамҭақәа рыдкылара аан ахархәара риҭон, урҭ роуп иара дхазгалазгьы, анаҩс даҧызхызгьы. Иҭаацәаратә ҭагылазаашьеи, насгьы дзызҿлымҳази де Голль иҧсадгьыл ахь, уи аҭоурых ахь, имиссиахь азыҟазаашьа шьақәнаргылеит. Аха арратә ус ахь имаз азҿлымҳара де Голль апрактика аҟны иааирҧшит. 1909 шықәса рзы Шарль де Голль Сен - Сиртәи Арратә академиа дҭалеит. 1913 шықәса рзы алеитенант еиҵбы ичын иманы иара, усҟантәи аамҭазы аполковник Филипп Петена командаҟаҵара ззиуаз аршьаҟауаа рполк ахь амаҵзура ахысразы дцоит (Филипп Петена ибзоурала де Голль акомандатә ҳаракырахь дхалоит, аамҭак анаҩс 1945 шықәса рзы иқәҵаз ашьрагьы дацәцеит).
Аибашьра алагамҭазы Шарль де Голль ҩынтә дхәын, уи ашьҭахь шасыс дыргоит, уа иҟазаара иалагӡаны хәынтә дыбналарц иҽазишәеит, аха урҭ зегьы лҵшәадахеит. Аибашьра анеилга ашьҭахь, иара ар рҟны даанхоит, уа раҧхьа аинрал Максим Веиганда иштаб аҟны имаҵзура ихигон, анаҩс аинрал Филипп Петена ирхәҭақәа рҟны иуалҧшьа неигӡон. Польшеи асоветтәи еибашьра аан, 1919–1920 шықәсқәа рзы, Шарль де Голль Польша аршьаҟауаа рырхәҭақәа рҟны инструкторс дыҟан. Иара усҟан амаиор ичын аҟынӡа дышьҭыхын, иагьидгалан аҧхьаҟатәи икариера Польша иациҵарц, аха де Голль Франциаҟа агьежьра алихит. 

Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра алагамҭазы де Голль аполковник ичын шимаз дыҟан, избанзар ирратә напхгара иааирҧшуаз идунеихәаҧшышьазы бзиа дырбомызт рацәак. Аха, рашәарамза 10, 1940 шықәса рзы анемеццәа Седан ианалала, иара игәра ганы аҧшьбатәи акәылӡтәы техникатә дивизиа анапхгараҭара идыргалоит. 
Рашәарамза 28 рзы де Голль итанкқәа анемеццәа раанкылара рылшеит Каумонте аҵаҟа ицоз аибашьра аан. Аполковник де Голль иоуп афранцыз командаҟаҵаҩцәа зегьы рахьтә анемеццәа хьаҵыртә еиҧш аҟаҵара зылшаз, Франциа ианалалаз аамҭазы. Аҧыза-министр Поль Реино усҟан чынла дҳареикуеит, абригадатә генерал инапынҵақәа рынагӡаҩыс дҟаиҵоит. 
Рашәрамза 6, 1940 шықәса рзы, Реино де Голль Британиа дуи Франциеи рыбжьара амилаҭтә тәылахьчаразы акоординациатә усқәа рҭакзыҧхықәу аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩыс дҟаҵеит. Аиҳабыра рлахәылас иҟалаз агенерал ахьаҵразы иҟарҵоз ажәалагалақәа дырҿагылон. Аха, аибашьра ацҵара иадгылоз аиҳабыра алахәылацәа, ари аус аҟны иаҵахеит аҟынтә, Реино ҧхьатәара дцеит. Петен иакәзар, аҧыза-министрс даныҟала Германиа анышәара дашьҭалеит. 
Рашәарамза 17 рзы, аинрал Поль Реино ииҭаз 100-нызқь ахьтәы франкқәа иманы Бордонтәи ҳаирпланла дыбналоит, уи Лондон дтәоит. Де Голль иакәзар, Франциа акапитулиациа мап ацәикырц иӡбеит, насгьы Аҿагыларатә ҵысра аҧҵара далагеит. 
Рашәарамза 4, 1940 шықәса рзы Тулузтәи арратә трибунал де Голль ҧшьышықәса иқәҵаны дарбаандаҩуеит. Аҩбатәи арратә трибунал аҟны, нанҳәамза 2, 1940 шықәса рзы, ашьра иқәҵан, аҧсадгьыл аҧсахразы. Аха Франциа ахы ианақәиҭыртә иара иаарласны Зых иақәиҭыз франциатәи амчрақәа рҿаҧхьа иаҳаҭыр шьҭихуеит. Парижҟа даныгежь, аинрал Ахҧатәи ареспублика ашьҭрамадара рылеиҳәеит, иара афашисттә Франциа алегетимра мап ацәикуан.
Аибашьра анеилга де Голль 1944 шықәса цәыббрамза инаркны 1946 шықәсанӡа аамҭалатәи аиҳабыра рхадас дыҟан, аха жьырныҳәамза 20 рзы иара аполитикатә партиақәа рҟны аҭыҧ змаз аконфликт ҿыҵгас иҟаҵаны ҧхьатәара дцоит, насгьы иара Аҧшьбатәи ареспублика аконституциа апроект идикыломызт, избанзар ари аконституциа апарламент алахәылацәа амчра ду рынаҭон. 

Аҧшьбатәи Ареспублика аполитика аганахьала уахәаҧшуазар, даара иҭышәынтәаламызт, Индокитаитәи аманшәаламра, насгьы алжиртәи азҵаара ӡбашьа ахьамамызи рганахь ала. 1958 шықәса, лаҵарамза 13 рзы аҿыцынхаҩцәа Алжир аиҳабыра ахьтәаз ахыбра рнапахьы иааргеит. Акомандаҟаҵаҩ хада, аинрал Рауль Салан арадио ала адырра ҟаиҵеит, аруаа аамҭала франциатәи Алжир алахьынҵа азы аҭакҧхықәра рхахьы ишыргаз. Акризис аҽарҭбаауан, избанзар франциатәи апарашиутистцәа Алжирнтәи Корсика рнапахьы иааргеит, насгьы иалацәажәон Париж азааигәара адесант артәара азҵаара. Апартиақәа зегьы раҧхьагылаҩцәа ракәзар, де Голль амчрахь игьежьра иақәшаҳаҭхеит. Ари аҭагылазаашьа мап ацәызкыз Франсуа Миттеран икоммунисттә партиа заҵәык ауп, урҭ де Голль афашисттә аарҳәра дагентуп ҳәа иқәыӡбеит. 
Де Голль аханатә еиҧш игәы иҭан Аҧшьбатәи ареспублика аконституциа аҧсахра, уи Франциа аполитикатә ҭагылазаашьа арҧсыҽуеит ҳәа иҧхьаӡаны. Аинрал фымз ирылагӡаны инарҭбаау аҭагылазаашьа ҷыдатә зинмчқәа ирҭозар, насгьы аконституциа ҿыц адкылара иадгылозар амчрахь дшыгьежьуа азы дрылаӡеит.
Рашәарамза 1, 1958 шықәса рзы де Голль аҧыза-министрхеит. Цәыббрамза 28, 1958 шықәса рзы имҩаҧган ареферендум, 79,2 % зыбжьы азҭаз аконституциа ҿыци Ахәбатәи ареспублика аҧҵареи адгылара арҭеит. Аколониақәа (Алжир официалла Франциа иахәҭакын, калониаӡамызт) алшара роуит ахьыҧшымреи аконституциа ҿыци рыбжьара алхразы.
Аколониақәа зегьы аконституциа ҿыц азы рыбжьы арҭеит, Гвинеиа заҵәык ада, уи ахьыҧшымра зауз, раҧхьатәи Франциа иатәу африкатәи колониахеит, франциатәи ацхыраарагьы уа иаанкылан. 

Иара даара иџьбараз аекономикатә усқәа идикылон, уахь иаҵанакуеит афранк ҿыц аҭыжьрагьы. Нанҳәамза 22, 1962 шықәса рзы аинрали иҧҳәыси ирықәлоит, аха дара аҧсра иацәцоит. Жәларбжьаратәи арена аҟны де Голль Еиду Америкатәи Аштатқәеи Асовет Еидгылеи рыбжьара дыбжьажьон, зхатәы иадертә бџьар змоу ихьыҧшым Франциа аларҵәо. Убасгьы, де Голль Франциеи Германиеи рыбжьара аусеицуразы аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара далагеит, иара Наполеон ихаанахыс раҧхьаӡа акәны Германиа Франциа ахада иаҳасаб ала даҭааит. 

Алжиртәи аконфликт аҭагылазаашьа аҟны де Голль илшеит ихадаз ҩ-хықәкык рынагӡара: Франциа аекономика ареформа азура, адәныҟатәи аполитикаҟны Франциа апозициа ҕәҕәа адгылара аҭара, «аҳаракыра аполитика» ҳәа ззырҳәоз. 
Аиҳабыра активла аекономика рхы аларгалон, уи аан мыруга хадас ирымаз хәышықәсатәи апланқәа ракәын. Аҳәынҭқарра иазырхаз амраҭашәарахьтәи акапитализми аекономикеи ркомбинациа иабзоураны, даара инарҭбааз апроектқәа аҧсҭазаара иаларҵәан. 

Шарль де Голль президентс иҟазаара аан, даара аҿиара аиуит асовет-франциатә еизыҟазаашьақәа. 1966 шықәса рзы де Голль официалтә визитла Асовет Еидгыла (СССР) даҭааит. Усҟан имҩаҧгаз аиҿцәажәарақәеи, 1966 шықәса, рашәарамза 30 рзы анапы зҵаҩыз асовет-франциатә Декларациеи ирыбзоураны, асоветтә-франциатә еизыҟазаашьақәа рҭоурых азы етап духеит.
Шарль де Голль ҧхьатәара данца Коломбе-ле-дез-Еглиз дынхон.
Иҧсҭазаара далҵит, 1970 шықәса, абҵарамза 9 рзы. Анышә дамадоуп дахьынхоз аҭыҧ Коломбе-ле-дез-Еглизтәи аҧсыжырҭаҿы. 

Жозеф Мари де Голль – франциатәи арратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы, аинрал. Иара еицырдыруаз уаҩны дшыҟазгьы, ихатәы ҧсҭазаара аҟынтә еилкаам рацәоуп.

Аҩажәатәи ашәышықәса, аҩажәатәи ашықәсқәа рзы афицар ҿа Шарль де Голль длабадыруеит Ивонна Ванду, ахаатәы ҟазҵоз иҧҳа. Уи абал ахь ааҧхьара лиҭоит. Аха иара акәашашьа ахьизымдыруаз азы, ахәылҧаз зегьы арратә жәабжьқәа лзеиҭеиҳәон. Знык-ҩынтә ианеиқәшәа ашьҭахь, лҭаацәа иралҳәоит «ма иара, мамзаргьы уаҳа даҽаӡәы мап» ҳәа.

Ивонна Ванду дзыццараны дыҟаз 30 шықәса ихыҵра аан илӡыз анбан хаақәа ирылхны бзиа дшибо атәы иҳәар акәхеит, жәаҳәарада, ас еиҧш аребус де Голль изы иуадаҩмызт, избанзар дхәыҷаахыс ажәақәа нарҳәаарҳәны аҧхьашьа идыруан.

Аамҭак азы де Голль аҧара ахьимамыз иахҟьаны, иҩыза Гарри Трумен ҳамҭас ииҭаз америкаа равтомобиль иҭиир акәхеит. Ифинансттә ҭагылазаашьа арҽеира алдыршеит иҭыҵыз имемуарқәа.

Шарль де Голль ҧшьынҩажәа шықәса анихыҵуаз Конго аҧыза аббат Фиульбер Иулу дидкыло, уи ишәыз асутана дарҩашьан, «Мадам…» ҳәа иеиҳәеит. 

Шарль де Голль ҽнак абас еиҧш азгәеиҭеит: «Ҧсыхәас иамоузеи 246 ашәхкқәа ахьыҟарҵо атәыла напхгараҭарас?» ҳәа.

Де Голль иҟаиҵаз аҿаҵарала ауп Марк Шагал Гранд Опера асахьанҵара дшалагаз. 




#Article 93: Ахшыҩырҵара (1408 words)


Ахшыҩрҵара, ацәаҩашәа (мораль, алатын moralitas-атермин алагалан Цицерон ибзоурала, алатын ажәа mores «еицырзеиԥшу атрадициақәа») – ари ауаажәларра рҟны ацәгьеи абзиеи, ииашоу ииашаам уҳәа реиԥш иҟоу ахымҩаԥгашьақәа рнорма ауп иаанаго.
Зны-зынла ари атермин рхы иадырхәоит еилазаарак зегьы ирзырханы акәымкәа, уи ахәҭак мацара ахь, иаҳҳәозар: ақьырсиантә хшыҩрҵара, абуржуазиатә хшыҩрҵара уҳәа реиԥш иҟоу… 
Иҟоуп бызшәақәак, иаҳҳәозар, аурыс бызшәаҿы ажәа ахшыҩрҵара анаҩсангьы ахархәара амоуп ажәа ацәаҩашәа (нравственность, анемец бызшәаҟны – Moralität и Sittlichkeit), арҭ аҩажәак асинонимқәа рроль нарыгӡоит лассы-лассы, мамзаргьы еиуеиԥшым аганқәа рыхшыҩрҵара алкааразы ахархәара арҭоит.
Аилазаарак аҟны ахархәара змоу ахшыҩрҵара – ауаажәларратә цәаҩашәа, мамзаргьы ахшыҩрҵара ҳәа иашьҭоуп. Ахшыҩрҵара ҭнаҵаауеит хаз игоу афилософиатә дисциплина – аетика.

Ҳаамҭазынӡа зыӡбахә ааҩыз еицырдыруа философуп, зегь раԥхьа ахшыҩырҵара азҵаарақәа ықәзыргылоз - антикатәи аскептицизм ашкол аԥҵаҩы ажәытә мысратәи афилософ Пиррон.
Пиррон арелиативизм ахшыҩырҵаратә принципқәа абас еиԥш еиқәиршәеит – џьоукы рыхшыҩырҵаратә принципқәа даҽа џьоукы ахшыҩҵак иалкааны иазгәарҭалартә еиԥш хшыҩыркратә мзызқәа ҳәа егьыҟам, ахшыҩрҵара зхьыԥшу аилазаара ауп. Џьоукы рыхшыҩрҵаратә хымҩаԥгашьа, даҽа џьоукы рыхшыҩрҵаратә нормақәа икәаԥӡа ирықәшәоит, аха даҽа ҭыԥқәаки аамҭақәаки рзы. Ахшыҩрҵаратә релиативизм инақәыршәаны, ақьиареи ацәгьеи – акы иазку аҟазшьа змоу еилкаарақәоуп.
Ф. Ницше ахшыҩырҵаратә релиативизм дадгылаҩын, ҿырԥштәыс иаагозар, иара иазгәеиҭеит, атәы дызмоуи атәи рыхшыҩрҵарақәа зынӡа ишеиԥшым. 
Ницше аҳәамҭа ҟаиҵеит амчра знапаҟны иҟоу дара рыхшыҩрҵаратә ҵакы амазаареи рыпринципқәеи аилазаара зегьы ирхьындырҳәалон, аилазаара алахәцәа ракәзар, уи иқәныҟәон.
XX ашәышықәса азбжазы афилософиа аҟны ицәырҵит ахшыҩрҵаратә гхақәа ртеориа, уи абас еиԥш аҳәон, иҟам ақьиареи ацәгьареи, иҟам ииашоуи ииашами, ауаатәыҩса ақьиареи ацәгьареи рзы ирымоу агәаанагарақәа дара ауаа рхаҭа роуп изыӡбаз, аилазаараҟны анхара рзымариахарц азы.
Ахшыҩрҵаратә гхақәа рфилософиа аԥҵаҩыс дыԥхьаӡоуп австралиатәи афилософ Џьон Меки, уи ари атеориа ишәҟәы «Аетика: ииашоуи ииашами аԥҵара» («Этика: изобретение правильного и неправильного» (англ. Ethics: Inventing Right and Wrong), 1977 шықәса рзы иикьыԥхьыз аҟны дазааҭгылоит.
Ахшыҩрҵаратә гхақәа ртеориа шьаҭас иамоу, Меки ишәҟәаҟны иаирбаз рахьтә, обиективра злоу мазара ҳәа акагьы ыҟам, афилософцәагьы ақьиара азы аилкаарақәа аԥырҵалар ауп ҳәа иҳәоит. Ҳаамҭазтәи афилософцәа ргәаанагара ала, аԥхьаҟа ауаа зынӡагьы ахшыҩрҵара азакәанқәа рхы иадырхәалаӡом. 

Аҵакырадгьылтәии аимшьҭратәии
Селиа Грин (Celia Green) ааимшьҭратәии аҵакырадгьылтәии ахшыҩрҵара аликаауеит. Аҵыхәтәантәи иҵоурами амапкратәии хшыҩрҵара ҳәа иазгәарҭоит: ауаҩы иҵакырадгьыл алнакаауеит, уахь иаҵанакуеит иара ихатә мазара, насгьы иара ихьыԥшу зегьы, уи аӡәы аилагарагьы азин имам.
Убри аамҭазы аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара азы азин ҟаҵоуп, избанзар ауаҩы иара иҵакырадгьыл зегьы аҟны ииҭаху ҟаиҵаларц илшоит, даҽа џьоукы рҵакырадгьыл еилаимгозар. Аимшьҭратә хшыҩрҵара абжьгаратә ҟазшьа амоуп, избанзар уи хаз игоу ауаҩы аколлективтә нормақәа иднагалоит.
Арҭ анормақәа зхы иақәиҭу алԥшааратә ҟазшьа рымоуп, урҭ акультура иахьыԥшуп, убри аан аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара здырра ҭбаау аишахаҭаны иԥхьаӡоу канттәи амапкратә императиви, Норман Геислер иабсолиутизм аԥҟарақәеи ирхьыԥшуп.
Грин аҵакырадгьылтә хшыҩрҵара аҿиара адиҳәалоит аилкаара ахатәы мазареи ауаажәларратә статус аҟны аиԥшымзаара алкаареи. 

Аӡәырҩы аҭҵааҩцәа иазгәарҭоит зны-зынла убас еиԥш ахшыҩрҵаратә ԥҟарақәа ауаа рахь ахархәара шарҭо, дара «иртәу», «иртәым» агәыԥқәа ҳәа еихшаны. 
Абиологцәа, антропологцәа, аеволиуциатә ԥсихологцәа аӡәырҩы ирыԥхьаӡоит «иртәу», «иртәым» ҳәа адискриминациа цәырызгаз, агәыԥ аҟны аԥсеиқәырхара ашансқәа роуп ҳәа. Ари агәаанагара шьақәырӷәӷәан имариаз акомпиутертә еволиуциатә модельқәа рҟны.
Арҭ амодельқәа рҟны ас еиԥш адискриминациа иалҵшәаны гәыԥк иаҵанакуа ахаҭарнакцәа русеицура аҽарҕәҕәоит, иара убасгьы дара иртәым агәыԥ аганахьала ихшыҩырку аиҕарара цәырҵуеит.
Г. Р. Џьонсони (Gary R. Johnson) В. С. Фалгери (V. S. Falger) ишьақәдырӷәӷәон, амилаҭеилыхреи апатриотизмреи ирформаны ишыҟоу ахатәии атәымуааи рыла аихшара. Џьонатан Хаидт иазгәеиҭеит, агәыԥ аҩныҵҟатәи акритериқәа рексперементалтә цклаԥшра ишарӷәӷәо аконсерваторцәа рыхшыҩрҵаратә хәшьарақәа, ус еиԥш еиҳа имаҷны ианубаалоит алибералцәа рҟны.
Иҟалалоит убас еиԥш, аԥсҭазаара азы иалкаау астиль алхра, насгьы ишьақәгылоу ахымҩаԥгашьа иалкаау аԥҟарақәа еилазаарак аҟны ауаҩы арҭқәа зегьы иҵабыргны ианинарбо, аилазаара ахшыҩрҵаратә нормақәа зегь раасҭа. 

Кристофер Петерсони (англ. Christopher Peterson) Мартин Селигмани (Martin Seligman) атеориеи аамҭеи ирҿырԥшны иалыркаауеит акультурақәа рзы антропологиатә дунеихәаԥшра. Дара убас еиԥш алкаақәа ҟарҵеит иҭырҵаауаз акультурақәа рыбжьара, иалкаау мазараны абас еиԥш шырыԥхьаӡо: аҟәыӷара; ахаҵара; ауаҩра; аиашара; ачҳара; адунеихәаԥшышьа аҭбаара. Арҭқәа зегьы даҽа хәҭақәак рылагьы ишоит, ҿырԥштәыс иаагозар, ауаҩра атәы анаҳҳәо уахь иаҵанакуеит абзиабара, ақьиара, аҟәышра. 

Ахшыҩрҵара атеориа аҿиара апроцесс, еиуеиԥшым ауаатәыҩсатә жәларқәа рсоциалтә еволиуциа иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп. Аӡәырҩы аеволиуциатә биологцәа, асоциологцәа ирыԥхьаӡоит амораль ари аеволиуциатә мчрақәа ирхылҿиааз акоуп ҳәа, уи хаҭалатәи аҳаракыра мацара аҟны акәымкәа, агәыԥқәа рҟынгьы аус ауеит, агәыԥтә алкаара ахархәара ала. 
Социологцәақәак ахшыҩрҵара ала иарбоу ахымҩаԥгашьа даара аҽаԥсахит ҳәа иҟоу агәаанагарақәа ирықәшаҳаҭым, избанзар уи реихьӡарақәа еизнарҳауеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Ас еиԥш ахымҩаԥгашьа инақәыршәаны ауаа рцәаныррақәа рхыжжылара «апросоциалтә» шьақәгылашьа дырҿион, ҿырԥштәыс иаагозар, аемпатиеи ахареи реиԥш иҟоу ацәаныррақәа. Даҽа биологцәақәак ргәаанагара ала, ауаа идырҿиоз ахшыҩрҵара хаҭа акәын, альтруисттә инстинктқәа ракәымкәа. 
Ас еиԥш ахшыҩрҵара аилкаара иаанарԥшуеит ахеиқәырхаратәии идеологиала ишьақәыргылоу ахымҩаԥгашьа асистема. 
Ауаатәыҩсатә хшыҩырҵара, аилазаашьа еиҳа ишыуадаҩугьы аԥстәқәа ртәы аасҭа, зегь акоуп аԥсҭазаара иацәтәыму цәырҵрам. Ахшыҩрҵаратә кодексқәа шьақәыргылан аемоциатә цәаныррақәеи ацәалашәареи рышьаҭа ала, анкьа ишьақәгылаз ажәла алкаара ала, урҭ ирныԥшуеит аԥсеиқәырхареи аҿиареи рзы аԥышәа. 

Аетика (ахшыҩрҵара афилософиа ҳәа иара убасгьы ирдыруа) – афилософиа иахәҭоуп, ахшыҩрҵара азҵаарақәа ҭызҵаауа ауп. Ажәа «аетика» «иара ажәа «ахшыҩырҵара» иасинонимны рхы иадырхәоит лассы-лассы, зны-зынла аҵакы ҭшәаны – аморалтә принципқәеи, иалкаау гәыԥқәаки, хаз игоу ауааи рытрадициақәеи рыхшыҩрҵаратә принципқәеи ралкааразы.
Етикатә теориақәак, еиҳаракгьы адеонтологиа, иалызкаауа «аетикеи» «ахшыҩрҵареи», аха абра иҳәатәуп  ауаатәыҩса рыхшыҩрҵареи ретикеи аҵыхәтәаны еилкааракны ишыҟало, иҟоуп атрадициа аҟны «ахшыҩрҵара» Кант исистема иашьашәаланы ахархәара ахьамоу, ара «ахшыҩрҵара» шьаҭас иамоу ауал, аҭакԥхықәра, ахымҩаԥгашьа апринципқәа роуп. 
Ахшыҩрҵареи аетикеи синонимқәак раҳасаб ала лассы-лассы ахархәара рымоуп, аха ахшыҩрҵара еиҳарак адунеихәаԥшышьа ауп иаанаго, урҭ шьаҭас ирымоуп апрактика, мамзаргьы арҵара, ауаҩы еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҟны, ауаажәларра рҟны ихымҩаԥгашьа адырра, убри аан аетика апринципқәа рсистема иаҵанакуеит, афилософиеи уи атеориатә шьаҭаркреи. 

Ауаатәыҩса рҭоурых зегьы аҟны адинхаҵарақәа аидеалтә ԥсҭазааразы адгалара аҟаҵара анаҩсгьы, уи ақәныҟәара аԥҟарақәа ахьуднагалоз азы, ахшыҩрҵара лассы-лассы адинхаҵаратә ԥҟарақәа ирыдрыԥхьаӡало иалагеит.
Ахшыҩрҵаратә традициақәа инарҭбааны урзааҭгылозар, адинхаҵаратә хшыҩрҵара ҳаамҭазтәи ахшыҩрҵара аформақәеи реицыҟазаара аҭыԥ амоуп, урҭ рахь иԥхьаӡоуп аконсеквенциализм, зыхиақәиҭу ахәыцрақәа, агуманизм, аутилитаризм уҳәа реиԥш иҟоу аилкаарақәа. Адинхаҵаратә хшыҩрҵара ахкқәа ракәзар, даара ирацәоуп.
Ҳаамҭазтәи амонотеисттә динхаҵарақәа, аԥсылманра, аиудаизм, ақьырсианра, насгьы сикхизм, зороастризм уҳәа реиԥш иҟоу роуп абзиеи ацәгьеи алызкаауа азакәанқәеи аԥҟарақәеи рыла, урҭ арбоуп иԥшьоу ашәҟәқәа рҟны, дара урҭ ауаа ирыладырҵәоит адинхаҵарақәа раԥхьагылаҩцәа рдин аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Аполитеисттә динхаҵаратә традициақәа иреиҵоу абсолиутизм ахь ахшыҩҵакқәа рымоуп. Ҿырԥштәыс иаагозар, абуддизм аҟны ауаҩы ихықәки, насгьы адәныҟатәи аҭагылазаашьақәеи азгәарҭоит уи ихшыҩрҵаратә хымҩаԥгашьа ахәшьара аҭара аҟны.
Адинхаҵаратә традициақәа рҟны ахшыҩрҵара егьырҭ аиԥшымзаарақәа дырзааҭгылеит Барбара Миллер (Barbara Stoler Miller), уи иазгәалҭон, аиудаизм аҟны «апрактика аҟны абзиеи ацәгьеи злеилыркаауа ауаажәларра рҟны ауаҩы иааникыло аҭыԥи, аиуареи, ақәреи рыла шакәу. Мраҭашәара ҳаамҭазтәи ауаҩы изын, адырраҭбаареи аегалитаризми рыла иааӡоу изы, ас еиԥш аҭакԥхықәреи ахьыԥшратә ҵаки – даара иуадаҩу аспектуп аиндуизм адкыларазы».
Адинхаҵарақәа ахшыҩырҵаратә дилеммақәа рыӡбаразы ирацәоуп ирыдыргало амҩақәа. Иаҳҳәозар, аиндуизм аҟны иаахҵәаны ауаҩы ишьразы азин ҟазҵо хшыҩрҵарак ыҟам, уа иазгәарҭоит «иалкаау аҭагылазаашьақәа рҟны ауаҩы ишьра узацәымцар ҟалоит, избанзар уи ада ԥсыхәа ыҟамызт усҟантәи аамҭазы», – ҳәа. 
Амонотеисттә традициақәа рҟны иалкаау усқәак ирыхәаԥшуеит дкылашьа змам ракәны, иаҳҳәозар, аԥҳәыс лыҽԥыргареи аилыҵреи реиԥш иҟоу. Адинхаҵара еснагь ахшыҩырҵара иҵоураны иамадам.
Афилософ Давид Иум иазгәеиҭон: «Ацәгьоура дуқәа анцәа иахьырхәра иацәшәаны иҟаҵаз ракәын ҳәа ирыԥхьаӡон; убри аҟынтә ишәарҭам ҳәа иԥхьаӡам ауаҩы ихшыҩрҵара азы лкаақәак рыҟаҵара, иара идинхаҵаратә қьабзқәа рыџьбарареи игәацԥыҳәареи ирыхҟьеит ҳәа азгәаҭаны, иара гәыкала уи агәра игозаргьы».
Адинхаҵаратә хшыҩрҵареи ахшыҩрҵаратә позициеи еиԥшымзар алшоит, ауаҩшьра, амассатә хәымгарақәа, атәтәра азҵаарақәа ианырхьыԥшу.

Ҿырԥштәыс иаагозар, Саимон Блекберн (Simon Blackburn) иазгәеиҭоит: «Аиудаизм адгылаҩцәа акастатә система адгылара ииашоуп ҳәа рыԥхьаӡоит, аԥсылманра адгылаҩцәа ракәзар, даара имчу ашьаустә кодекс, мамзаргьы аҳәсеи егьырҭ адинқәа ныҟәызгои рахь азыҟазаашьа бааԥсы ииашоуп ҳәа иазхәыцны иадгылоит», – ҳәа.
Ақьырсианра атәы дазааҭгыло, Саимон Блекберн иазгәеиҭоит: «Абиблиа аҟны иуԥшаарц алшоит ахәыҷқәа ирзырхоу агәымбылџьбарара, еиҳаракгьы хшыҩла иаҩцам рахь, аԥстәқәа рахь, еилыҵны иҟоу рахь, анцәа дхазымҵо рахь, еиуеиԥшым асексуалтә ҟазшьаҷыдарақәа змоу рахь, насгьы зықәрахь инеихьоу аҳәса рахь». Иара убасгьы иҳәоит ауаҩы ихшыҩрҵарқәа рахьтә гәыҩбара узҭо ацәаҳәақәа шуԥыло Ауасиаҭ Ҿыц аҟны. 
Ақьырсианра адгылаҩцәа Блекберн иқәгылара ахҳәаа азыҟаҵо иазгәарҭоит, дара ргәаанагарала, ауриацәа рзакәанқәа Аԥшьашәҟәы аҟны ахшыҩрҵара аеволиуциа аанарԥшуеит ҳәа имчымхоу рыдгыларазы, уа иазгәаҭоуп атәцәа иҽеимкәа ирызныҟәо рахьырхәра (ашьра аҟынӡа), атәцәа ракәзар, еиҳа-еиҳа, хатә мазарак еиԥш акәымкәа уаҩԥсҵас рзыҟазаара иазнеиуеит. 
Елизабет Андерсон (Elizabeth Anderson), Мичигантәи ауниверситет афилософиеи афеминологиеи рпрофессор лгәаанагарала, Аԥшьашәҟәы абзиагьы ацәгьагьы унарҵоит ҳәа, насгьы ари аԥшьаҩыра хшыҩырҵарала иԥкааны иҟам ҳәа лыԥхьаӡоит. Агуманистцәа, Пол Курц (Paul Kurtz) иеиԥш иҟоу, агәра ргоит иалкаау ахшыҩрҵаратә ҵакқәа хаз игоу культурақәак рҳәаақәа ирҭыҵуеит ҳәа, иара игәаанагара ала, уи убарҭоуп иуниверсалтәу зхаҵарак анаҩсгьы, иԥсабаратәым зхаҵарак аҳасаб алагьы иубарц шалшо.
Аиашара, аартра, аԥсыцқьара, абзиа азеиҕьашьара, аҵабыргра, агәаанагара аҳәара, арҭ зегьы хыҵхырҭазар ауеит адинхаҵаҩцәеи анцәа дхазымҵои рыбжьара аилибакаара аԥшаара азы ҳәа азгәарҭоит. 

Акодификациатә хшыҩрҵара иаабац ахшыҩрҵара излеиԥшым (ауаажәларра аҟны агәазыҳәара змоу амҩа алкаара) уи ауп, иара ахатә нормақәа алнакаауеит: ишиашоу иԥсабаратәу анормақәа, мамзаргьы ауниверсалтә принцип анормақәа.
Адинхаҵаратә еилазаарақәа рҟны, аԥааимбар арҭ апринципқәа иоуеит агәаартра ала ҳәа иԥхьаӡоуп, иазгәаҭатәуп арҭ апринципқәа иалкаау шракәу. Урҭ иааизакны ишьақәдыргылоит ахшыҩрҵаратә кодекс (даҽахьӡык: аетникатә кодекс) – аԥҟарақәа рсистема, ҵакы змоу асистема инақәыршәаны иахәҭоу ахымҩаԥгашьа шьақәзыргыло.
Ахшыҩрҵаратә (аетикатә) кодексқәа ҟалар ауеит адинхаҵаратә, адунеихәаԥшратә, апрофессионалтә, акорпоративтә, аспорттә уҳәа уб. егь.
Адинхаҵаратә хшыҩрҵара акодекс иаҿырԥштәқәаны иԥхьаӡоуп:
Ацәаҩашәа ахьтәы ԥҟара («ахгәарԥхаратә етика»);
Аиудаизм, ақьырсианра, аԥсылманра ауасиаҭқәа жәаба;
Нои иимшьҭра рзакәанқәа быжьбеи 613 уасиаҭ аиудаизм аҟни;
Иԥшьоу ауасиаҭқәа хәбеи абуддизм ахь аантәыракратә мҩеи;
Ажреи ижрами аиндуизм аҟны;
Даосизм аԥҟарақәа жәаба;
Ажәытәӡатәи мысратәи акодекс Маат;
Апрофессионалтә кодексқәа рҿырԥштәқәа – Бусидо, Гиппократ иҭоуба, ажурналист Идунеихәаԥшышьа (Кредо). 




#Article 94: Адиаспора (1260 words)


Адиаспора (абырзен. ) — ари ажәлар рыхәҭак ауп, изхылҵыз атәыла аҟны инымхо, аха убри аан иахьынхо атәыла аҟны, иаку иҭышәынтәалоу аетникатә гәыԥқәа аԥҵаны измоу, насгьы дара рыҿиареи руаажәларреи реиԥшзаара  амырӡразы, адгыларазы асоциалтә институтқәа змоу жәларуп.

Ус еиԥш иҟалеит аҭоурых аҟны, аетносқәа лассы-лассы дара рҵакырадгьылқәа рҟны акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рҟны инхалартә еиԥш. Уи зыхҟьаз аибашьрақәа, аҳәаақәа реиҭакра, аимпериақәеи аҳәынҭқаррақәеи рхыбгалара, аԥсабаратә рыцҳарақәа, аекономикатә кризисқәа уҳәа роуп. Абарҭқәа зегьы ажәларқәа ԥсаҟьаны адунеи иаланаԥсоит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа иҟалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык. 

Иахьа еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟны инхоит х-процентк инаркны жәа-процентк рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ зегьы мигрантцәоуп. Хықәкыла иаҳҳәозар, атәым тәылақәа рҟны инхоит 35 млн акитаиццәа, 25 млн еиуеиԥшым африкатәи атәылақәа ирылҵыз, 19 млн аурысцәа, 14 млн акурдцәа, 9 млн индиаа, 10 млн ирландиаа, 8 млн италиаа, ауриацәа, ацыганцәа, 5,5 млн аерманцәа, 4,5 млн авенгрцәеи аполиакцәеи, 4 млн абырзенцәа,  3,5  млн аҭырқәцәеи  иранааи (аџьамцәа),  3 млн иапониаа, 2,5 млн анемеццәа. 
Атәым тәылақәа рахь иқәнагалаз ауаа еснагь рмилаҭ еиуаз ирыҿцаауан. Уи азын дара ацуҭақәа еиҿыркаауан. Иахьа ацуҭа (община) – ари ауаа ракзаара ауп – ԥҟараны ишышьақәгылаз еиԥш, уи еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауацәа, аҭынхацәа – урҭ зегьы еимадоуп анхамҩа, акультура, азинтә усура уҳәа рыла, насгьы ҵакырадгьылк аҟны еицынхоит. Ауаа реизааигәара, аӡәыкны рыҟалара ари ацуҭа иакритериақәаны иҟазар ретникатә хылҵшьҭра, ас еиԥш ацуҭа – адиаспора ҳәа иашьҭоуп. 
Адиаспора ахкқәа
У. Коен иаликаауан ԥшь-диаспора хкык: адиаспорақәа – иалаӡыз (ауриацәа, африкаа, аерманцәа, палестинаа), аџьатә диаспорақәа (индиаа), аџьатәқәа (китаиаа), аимпериатә (британиатәи, франциатәи, испаниатәи, португалиатәи).  Дж. Армстронг ҩ - диаспора хкык аликаауан: «амобилтәи» «апролетартәи». 

 «Апролетартә» диаспорақәа – ари ааигәа ишьақәгылаз етникатә еилазаароуп. Дж. Армстронг игәаанагарала, «арҭ адиаспорақәа ҳаамҭазтәи аполитика иалҵшәахаз иқәҿиарадоу аалыҵуп». 
Г. Шеффер иаликаауеит абас еиԥш адиаспора хкқәа:

Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы амиграциатә процессқәа даара идуу амасштабқәа аҵанакуа иалагеит – иахьазы адунеи аҟны инхо ауаа рахьтә 35-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп. Аҿиара змоу атәылақәа рҟны акәзар, 10-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп.  Даҽа тәылак ахь нхара ицаз инхарҭа ҭыԥ ҿыц аҟны ибзазашьа анеиқәиршәалак, имилаҭ иаҵанакуа емиграциа рцара дацхраауеит. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам, адиаспорақәа рхыԥхьаӡара ас лассы иахьазҳауа. Зегь реиҳа идуу диаспорақәоуп: 

Ацыганцәа ауаа рышәҟәҭагалара лассы-лассы рхы аладырхәуам, рхыԥхьаӡаразы рхатә дыррақәа рымоуп умҳәозар. Убри аҟынтә ари ажәлар ирыдҳәалоу ахыԥхьаӡарақәа зегьы - ус инықәырԥшшәа иҟаҵоу дыррақәоуп, иахьазы дара 8 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Убасгьы, иԥхьаӡоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны миллионҩык рҟынӡа ацыганцәа шынхо, урҭ рхыԥхьаӡара рацәоуп Бразилиа, Румыниа.  
 

Ажәбатәи аҭыԥ аҟны иҟоу италиаа рдиаспора 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара рмилаҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь рықәҵра хацыркын XIX ашәышықәса анҵәамҭазы, еиҳаракгьы ари апроцесс аҿарҭбааит Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь. Уи мзызс еиҳарак иаиуз аӷарра ауп, амамзаара ауаа убас еиԥш аҭагылазаашьа иҭанаргылон, егьырҭ аҵакырадгьылқәа рахь иқәҵны ицаратәы. Италиаа еиҳарак иқәҵны нхара ҳәа иахьцаз Ҩадатәии Ладатәии Америка атәылақәа рахь ауп.

Аофициалтә дыррақәа рыла, ауриацәа Израиль анҭыҵ инхо рхыԥхьаӡара 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, аха зегь реиҳа ауриацәа ахьынхо Еиду Америкатәи Аштатқәа (урҭ уатәи рхыԥхьаӡара 5-миллионҩык иреиҳауп), Франциа, Британиа Ду рҟны ауп. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ауриацәа рыцуҭа адунеи аҟны зегь реиҳа еиҳауп ҳәа иԥхьаӡоуп, иара убасгьы 2003 шықәсанӡа ауриацәа рдиаспора Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны еиҳа еиҳан Израиль инхоз ауриацәа рхыԥхьаӡара аасҭа.

Адунеи 102 тәыла   рҟны инхоит Ермантәылантәи амигрантцәа. Урҭ рахьтә 87 % атәылақәа 6 рҟны ауп иахьынхо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа. Аерманцәа рдиаспорагьы 8 миллионҩык шьақәнаргылеит, убри аан иара Ермантәыла инхо 3 миллионҩык роуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дара рҽазыршәеит иаку еиҿкаарак, адиаспора еидызкыло аԥҵара, аха ари аус макьаназы аҵыхәтәанынӡа иӡбам. 

Украинаа рыԥшьбатәи ахәҭа (10 миллионҩык инадыркны 15 милионҩык рҟынӡа) Украина анҭыҵ ауп иахьынхо. Зегьы иреиҳау урҭ рдиаспора ахаҭарнакцәа Урыстәыла ауп иахьынхо, иара убасгьы имаҷҩымкәа украинаа нхоит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Канада, Молдова. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зегьы иреиҳаны амигрантцәа нхара ҳәа иахьцо Испаниа, Италиа, Мысра атәылақәа рахь ауп.

Аполиак хылҵшьҭра змоу амигрантцәа, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 21 миллионҩык ыҟоуп. Урҭ зегь раасҭа иахьынхо ҭыԥуп Еиду Америкатәи Аштатқәа – ара инхо аполиакцәа рхыԥхьаӡара миллионки 500 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, Бразилиеи Германиеи ракәзар, Польшантәи амигрантцәа рхыԥхьаӡара еиԥшуп уҳәар ауеит – дара ҩ-миллионки 500-нызқьҩык рҟынӡа тәылацыԥхьаӡа инхоит. 

Ианеиҵаха 25 миллионҩык рҟынӡа аурысқәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵҟа нхара ҳәа иагеит. Иҟоуп ахыҵхырҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 40 миллион рҟынӡа инаӡоит ҳәа аазыцҳауа, аха аҭҵааҩцәа ас еиԥш ахыԥхьаӡара иақәшаҳаҭым.  Зегьы иреиҳау европатәи аурыс диаспора нхоит Германиа. Убри анаҩсгьы, урысшәала ицәажәо амигрантцәа рацәаҩуп Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Латвиа. 

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, адунеи зегьы аҟны инхоит индиаа рхылҵшьҭрақәа 25 миллионҩык рҟынӡа, дара адунеи 110 тәыла рҟны иҟоуп. Зегь реиҳа индиаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо Непал (4 миллионҩык), Еиду Америкатәи Аштатқәа (3 миллионҩык), Малаизиа (2,4 миллионҩык) рҟны ауп. 

Акурдцәа рдиаспора шаҟа ыҟоу аԥхьаӡара зыруадаҩуа акәны иҟоуп, дара ахьынхо ԥшь-тәылак рҟны зныкгьы ауаа ашәҟәранҵара ахьымҩаԥырымгац. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, акурдцәа рдиаспора – 20 миллионҩык инаркны 40 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп, аха зегь реиҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоу 35 миллионҩык ҳәа иҟоу адыррақәа роуп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, китаиаа рхыԥхьаӡара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхараны инхо, 50 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Урҭ реиҳараҩык (20 миллион инаркны 30 миллион рҟынӡа) Лада-Мрагыларатәи Азиа инхо роуп, ҿырԥштәыс иаагозар, Сингапур инхо ауааԥсыра зегь рахьтә 78% шьақәзыргыло китаиаа роуп. Убри анаҩсгьы китаиаа рдиаспора ыҟоуп Америкеи Европеи. 
Аӡәырҩы асоциологцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, иахьатәи аамҭазы «адунеитә диаспоризациа» апроцесс мҩаԥысуеит, дара адиаспорақәа рхаҭақәа ракәзар, атрансоциалтә ҳақәаны аҟалара иалагеит. Убри аҟынтә, аамҭа цацыԥхьаӡа иалшоит адиаспорақәа рхыԥхьаӡара еизҳар, иазҳауеит убасгьы урҭ аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа иазыҟарҵало аныррагьы. 

Адиаспорақәа зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп. Урҭ алахьынҵақәа еиуеиԥшым, дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазааратә мҩа шиндивидуалтәу еиԥш. Аха, егьа ус акәзаргьы, адиаспорақәа русура аҟны еицырзеиԥшу афункциақәа маҷым. Ус еиԥш рҷыдаҟазшьоуп «ижәытәтәиугьы» «иҿыцугьы» адиаспорақәа.
Дара адиаспорақәа рцәырҵшьа амзызқәа шеиԥшымгьы, ирзеиԥшу аҟазшьақәа рымоуп. Аха абра иазгәаҭатәуп, зыӡбахә ҳәоу афункциақәа рхаҭәаара, рбеиара уҳәа акыр аиԥшымзаарақәа шрымоу.

Зегь реиҳа иалаҵәаны иҟоу адиаспора афункциақәа иреиуоуп досу рҭоурыхтә ԥсадгьыл, рыжәлар ркультура, рыҿиара, доуҳала рырбеиара ацхраара, адгылара рзыҟаҵара. Иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит ахатәы бызшәа аиқәырхара. Ишдыру еиԥш, абызшәа ауп даҽа тәылак аҟны ауаҩы далкааны, дызмилаҭу удыруа дҟазҵо. 
Ахатәы бызшәа иабзоураны ауаҩы дахьынхозаалак, иарбан ҳәынҭқарразалак аҟны истатусгьы аҽаԥсахуеит. Ҿыц ишьақәгыло адиаспора еснагь ахатәы бызшәа ахархәара анаҭоит иформалтәым аицәажәара аан, аха ашкол, аусеилыргара, амассатә информациа ахархәагақәа рҟны уи ахархәара маҷуп, зынӡагьы иамам уҳәар алшоит. Ахатәы бызшәа зехьынџьара ахархәара аиура азықәԥара аҭахны иҟоуп.
Ахатәы бызшәа амилаҭтә культура ретронслиаторс иамоуп, уи ацәыӡра, еиҳаракгьы адоуҳатә хырхарҭаҟны рыцҳара дууп (атрадициақәа, ахдырра, ақьабзқәа).  Аха   убри аан, збызшәа зцәыӡыз ажәларқәа, ретнос ишаҟәҟьазгьы, диаспораны ишыҟаз иаанхоит (иаҳҳәозар анемеццәа, кореиаа, ассирииццәа, чувашиаа уҳә. егь.) Абас алагьы абызшәа аиқәмырхара адиаспоразы иҳәаақәҵоу ҷыдарам. 
Адиаспора аусуразы ихадоу акәны иҟоуп аетникатә культура аиқәырхара, уи иаҵанакуеит аматериалтә, адоуҳатә, асоционормативтә усура.  Еиҳа инарҵауланы аетникатә культура аныԥшуеит алитература, аҟазара, аетникатә символика, атрадициақәа, еиуеиԥшым аматериалтә культура аформақәа (акрыфара, аҽеилаҳәара), афольклор.
Аетникатә культура амырӡра аригьы адиаспора иаҷыдаҟазшьоуп.  Аха аамҭа цацыԥхьаӡа адиаспора аетникатә культура изхылҵыз ретнос акультура акыр иацәыхарахоит.

Уи адиаспора ахьынхо ажәлар иныҟәырго атрадициақәеи иареи еилаӡҩоит.  
Аетникатә культура амырӡра зхьыԥшу адиаспореи изланхо ажәлари ирыбжьоу адистанциа ауп, иара убасгьы, иахьынхо аҳәынҭқарра адиаспорахь иаанарԥшуа атолерантреи, адиаспора ахаҭарнакцәа ркультура аиқәырхара агәазыҳәара ахьынӡарымоуи роуп. 
Даара аҵак ду амоуп аекономикатә функциагьы, уи акыр адиаспорақәа ахархәара алыршара рҽазыршәоит. Ара зыӡбахә ҳәоу убас еиԥш иҟоу аекономикатә ҿиара аформақәа роуп, иҷыдоу даҽа жәларык ирыламҩашьо жәлар рнапҟазарақәа раалыҵқәа рҭыжьра алыршара. 
Арҭқәа зегьы адиаспора ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаара еиԥш, егьырҭ амилаҭқәа изланхогьы рыԥсҭазаара арбеиоит. 
Ас еиԥш аекономикатә функциақәа раларҵәара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ацзаргьы, аҭоурыхтә ԥышәа ахархәара аҭазар, зегьы уи аҟынтә иаиааиуеит, афеида алырхуеит. Ара, иара убасгьы, иазгәаҭатәуп адиаспора аполитикатә функциақәагьы шынанагӡо. Ари раԥхьа иргыланы иахьаныԥшуа иназыцҵоу азинқәа роуразы алоббизм аныҟарҵо ауп. 
Иҩбахаз, адиаспора, мамзаргьы уи иадҳәалаз акыр аиҿкаарақәа ишьақәгылоу арежим оппозицианы ианазыҟало ауп. 
Ихԥатәихаз, адиаспорақәа иахьынхо атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа анырра анарҭо ауп.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа ихалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык. 




#Article 95: Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (891 words)


Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура (иааркьаҿны МАГАТЭ, англ. International Atomic Energy Agency, иааркьаҿны IAEA) – атомтә фымца аҿиареи уи аҭынч ԥсҭазаара аҟны ахархәареи рзы жәларбжьаратәи аиҿкаара. Уи аԥҵан 1957 шықәса рзы. Аштаб-квартира ыҟоуп Вена (Жәларбжьаратәи венатәи ацентр).

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵан 1957 шықәса рзы, иҟаз ашәарҭарақәеи агәыҕрақәеи рҳәаақәа ирҭагӡаны, избанзар иҟан ашәарҭара аиадертә технологиақәа рхархәаразы. Ас еиԥш амаҵзура ацәырҵра зыбзоуроу Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидент Дуаите Еизенхауер ԥхынҷкәынмза 8, 1953 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҟны «Атом адунеи азы» ажәахә ала иқәгылара ауп.

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аофициалтә иирамшны иԥхьаӡоуп рашәарамза 29, 1957 шықәса – ари амш азы ауп Еизенхауер хадас дызмаз Еиду Америкатәи Аштатқәа амаҵзура аԥҟаԥҵәа аратификациа аназыруз.
Вашингтон Агәилԥшшәы змоу абаҳча аҟны имҩаԥгаз апресс- конференциаҿы анапаҵаҩра ацеремониа анымҩаԥыс ашьҭахь, ахада Еизенхауер Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿаԥхьа иқәгылараҟны ажәалагала ҟаиҵеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аԥҵазарц.

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аусура иузаҟәымыҭхо иадҳәалоуп аиадертә технологиақәа, насгьы урҭ ҩ-хырхырҭакны рхархәаразы алшарақәа ыҟоуп: абџьарк аҳасаб ала, мамзаргьы ауаа ирыхәо ахархәара змоу мыруганы. 1953 шықәса рзтәи апрезидент Еизенхауер иқәгылара аан зыӡбахә ҳәаз аидеиақәа иалдыршеит Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура Аԥҟаԥҵәа аԥҵара, аӡәыкны уи азы 81 ҳәынҭқарра рыбжьы арҭеит 1956 шықәса рзы.
Ари амаҵзура аԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асистема аҟны жәларбжьаратәи еиҿкаарак аҳасаб ала, уи аконцепциа «Атом адунеи азы» аларҵәара иацхраауан. Аханатә ари аиҿкаара аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәеи, адунеи зегьы аҟны хыԥхьаӡара рацәала апартниорцәеи ашәарҭара зцым адунеитә иадертә технологиақәа раԥҵаразы азинмчы дуқәа аман. Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура аҩбатәи амиссиас иҟан атом ахархәара хылаԥшра аҭара, уи атәы ҳәоуп аиҿкаара Аԥҟаԥҵәа аҩбатәи ахәҭаҷ аҟны. 

Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы – ари аиҿкаара аҭынч ԥсҭазаара аҟны атомтә енергиа ахархәаразы аусеицуразы наука- техникатә еиҿкаароуп. Ари аҿкаара ахықәкы хада – аиадертә бџьар аламырҵәара, насгьы атәылақәа маӡала ари аҭынчра иазырхоу атом арратә хықәкқәа рзы рхы иадмырхәарц аҟаҵара ауп.
Жәларбжьаратәи атомтә фымцаз амаҵзура аиадертә материалқәа рхархәаразы хылаԥшра ҟанаҵоит, хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, ари ахылаԥшра мҩаԥыргоит Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аинспекторцәа аҭыԥқәа рҟны.
Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура еиуеиԥшым атәылақәа апрактикатә цхыраара рзыҟарҵоит, насгьы абжьгарақәа рырҭоит атомтә фымца ахархәашьазы апрограммақәа рымҩаԥгаразы. Арҭ апрограммақәа рхықәкы хада – адыррақәа реимдара, атәылақәа атомтә программақәа рхархәара еиҳа ашәарҭара ацымкәа рхархәара алдыршарц ауп. Амаҵзура абжьгаҩцәеи амыругақәеи рзы адгаларақәа ҟанаҵоит, аҟазацәа аҵара днарҵоит. 

Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы  аиадертә технологиақәа рзы аинформациа еизнагоит,  урҭ раларҵәара азы Вена иҟоу Жәларбжьаратәи аиадертә информациатә система ахархәара анаҭоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҵарадырреи, анаукеи, акультуреи рызҵаарақәа рзы ҷыдалатәи аусбарҭеи (ЮНЕСКО) Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзуреи еицхырааны Триест, Италиа иҟоу атеориатә физика азы Жәларбжьаратәи ацентр напхгара арҭоит. Иара убасгьы аиадертә физика ахархәара апринципқәа апрактика аҟны рхархәаразы аҭҵаарақәа ахьымҩаԥырго алабораториақәа хԥа аԥҵаны иамоуп, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы Амаҵзура Агәабзиарахьчаразы Адунеизегьтәи аиҿкаара (ВОЗ) аус  ацнауеит амедицинеи  абиологиеи рҟны арадиациа ахархәаразы апроблемақәа рызҵаарақәа рзы. 

Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы ихадараҵәҟьоу хырхарҭаны иамоуп – аиадертә бџьар аламырҵәара аус аиҿкаара. 1962 шықәса рзы 102 тәыла рнапы аҵарҩит аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра (ДНЯО).
Аиадертә бџьар аламырҵәаразы аиқәышаҳаҭра инақәыршәаны Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иадҵан, ари аиқәышаҳаҭра знапы аҵазҩыз уи шынарыгӡо хылаԥшра аҭарагьы. Амҵзура ахылаԥшратә функциақәа – мамзаргьы Жәларбжьаратәи амаҵзура атомтә фымцазы агарантиақәа – хықәкыс ирымоуп аиадертә бџьар змам атәылақәа рҟны аҭынчратә атомтә фымца аиадертә ахь ииаргаратәы аҟамҵара. 
Ас еиԥш агәаҭарақәа рымҩаԥгара алыршахоит аинспекциа мҩаԥысраны иахьыҟоу атәылеи Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзуреи аиқәышаҳаҭра рыбжьазар. Аилкаара агарантиа хатәгәаԥхаратәи еилкаароуп. Ус еиԥш хатәгәаԥхаралатәи агарантиақәа  Амаҵзура  иқәнаргылеит  Еиду  Америкатәи  Аштатқәа, Британиа ду, Франциа, Китаи, Урыстәыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура  ахәдықәҵарақәа аланарҵәеит, хыхь  зыӡбахә ҳәоу хә-ҳәынҭқаррак  рнаҩс  даҽа  95% рҟынӡа аиадертә шьақәгылақәа  ахьыҟоу аҭыԥқәа рҟны. Иахьанӡа 225 еиқәышаҳаҭра аус руеит 141 ҳәынҭқарра рҟны. 

Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура анапхгараҭаратә органны иҟоуп аконференциа Хада, анапхгаҩцәа Рхеилак, Амаӡаныҟәгарҭа.
Аконференциа Хада — ари амаҵзура иреиҳаӡоу органуп. Иара аиҿкаара иалоу атәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа алахәуп, аконференциа хада ауп анапхгаҩцәа Рхеилак алызхуа, насгьы амаӡаныҟәгарҭа  аусура хылаԥшра азҭо, адиректор хада далызхуа.
Аконференциа Хада шықәсык ахь знык иаарыԥхьоит. 
Анапхгаҩцәа Рхеилак акәзар, иара 35-ҩык  ахылаԥшратә директорцәа рыла ишьақәгылоуп, амаҵзура анагӡаратә органуп. Иара иалшоит аӡбамҭақәа рыдкылара Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура иалоу атәылақәа зегьы рзы зынагӡара хымԥадатәины иҟоу. Анапхгаҩцәа рхеилак иалоу шықәсыкахь хәынтә еизоит. 
Амаӡаныҟәгарҭа - административтә органуп, иара аилазаараҿы иҟоуп ашәырҭадареи аиадертә фымцеи аҟәша, уи аиадертә енергетикеи ареакторқәеи, аиадертә шәарҭадареи, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчареи анаука- техникатә информациеи рызҵаарақәа аӡбоит. Иҟоуп убасгьы аизотопқәа рыҭҵаара аҟәша, атехникатә усеицура аҟәшеи администрациа аҟәшеи. Амаӡаныҟәгарҭа адиректор Хада дызхагылоу, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура апрограммақәа рынагӡара ихахьы игоит, урҭ апрограммақәа Ахеилаки аконференциа Хадеи ианышьақәдырӷәӷәалак ашьҭахь. 
Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура адиректор хадацәа
Адиректор Хада ԥшьышықәса аҿҳәарас иҭаны далырхуеит.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы директор хадацәас иҟан:
Коул Стерлинг — Еиду Америкатәи Аштатқәа, 1957—1961 шш.;
Сигвард Еклунд — Швециа, 1961—1981 шш.;
Ханс Бликс — Швециа, 1981—1997 шш.;
Мохаммед ель-Барадеи — Мысра, 1997—2009 шш.;
Амано Иукиа — Иапониа, 2009—2019 шш. 

Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аусура шьақәгылоуп  аҳәынҭқаррақәа- алахәылацәа, аҳәынҭқаррақәа- адонорцәа, аиҿкаара иалам рбиуџьентнҭыҵтәи лагалақәа рыла. Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура аконференциа Хада есышықәса ишьақәдырҕәҕәоит.
Ҿырԥштәыс иаагозар, Жәларбжьаратәи атомтә фымцазы амаҵзура  абиуџьет 2010 шықәсазы ишьақәнаргылеит 315 400 000 евро. 

Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзура иамоуп, иара убасгьы, арегионалтә ҟәшақәа ҩба –Торонто, Канада (аус ауеит 1979 шықәса раахыс), Токио, Иапониа (аус ауеит 1984 шықәса раахыс), иара убасгьы ҩ-биурок: Ниуи-Иорк, Еиду Америкатәи Аштатқәа (1957 шықәса раахыс), Женева, Швеицариа (1956 шықәса раахыс). Амаҵзура  Венеи Заиберсдорфи, Австриа (1961 шықәса раахыс иаартыз), аиадертә технологиақәа рлабораториа напхгара анаҭоит, иара убасгьы Монако иҟоу алабораториа (1961 шықәса раахыс). Насгьы аҭҵааратә центр аԥҵоуп Италиа.

Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа ахеилак, жьҭаарамза 7, 2005 шықәса рзы Осло ирыланаҳәеит Нобельтәи Адунеизегьтәи апремиа Атомтә фымца азы Жәларбжьаратәи амаҵзуреи (МАГАТЭ) уи ахада Мохаммед ель-Барадеи ишранаршьо. Уи ишьақәнаргылеит 10 миллионк швециатәи акронқәа, имҩаԥысит Норвегиа аҳҭнықалақь аҟны, ԥхынҷкәынмза, 2005 шықәса рзы.




#Article 96: Адемократиатә дунеи атеориа (1039 words)


Адемократиатә дунеи атеориа (алиберал-демократиатә теориа, мамзаргьы адемократиатә) – акыр ахархәара змоу теориоуп. Иара аилкаара ҵакы хадас иамоуп адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара амеибашьра.
Адемократиатә дунеи атеориа адгылаҩцәа адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара иалыркаауеит аҭынчра шьақәзыргыло еиуеиԥшым афакторқәа:
адемократиатә ҳәынҭқарра анапхгаҩцәа дара иалызхуа ажәлар рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рыдуп;
адипломатиатә институтқәа аԥырҵоит аконфликтқәа рҭышәынтәларазы;
адемократиатә ҳәынҭқаррақәа дара-дара еиҕацәаны рхы рыԥхьаӡаӡом;
адемократиатә ҳәынҭқаррақәа ауаажәларратә беиара ду рымоуп, убри абеиара аибашьраҿы ибжьамӡырц азы аибашьра рхы аларгалаӡом.

Зегь раԥхьа европатәи афилософиа аҿы адемократиатә дунеи атеориа аарԥшын анемец философ Иммануил Кант итрактат «Наунагӡа аҭынчрахь» ала.   Ари аусумҭаҿы афилософ ишьақәиргылеит агипотеза: адемократиатә ҳәынҭқаррақәа жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы рхы даҽакала имҩаԥыргоит идемократиатәым раасҭа, адоуҳатә принцип абзоурала адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара аҭынчра шьақәгылоит ҳәа. Кант изнеишьа аҿиара аиуит XX ашәышықәса азы. Аҵарауаҩ Рудольф Руммель адемократиатә дунеи атеориа аемпирикатә дыррақәа рыла дазнеит .  Адемократиатә дунеи атеориа хыҵхырҭас иамоуп Иммануил Кант итрактат «Наунагӡа аҭынчрахь».   
Еиуеиԥшым аҭҵаарадырҩцәа, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьа апроблема ҭызҵаауаз, ари адемократиатә дунеи атеориа иақәшаҳаҭхеит. Аха, иара убасгьы, ари атеориа иаҿагылоз аҵарауаа ҟалеит. Урҭ ргәаанагара абас иҟан: адемократиатә ҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьа аҭоурых уи аҟара идуӡам астатистикатә лкаа аҟаҵаразы, насгьы иҟаӡам ииашоу аилкаара, иарбан ҳәынҭқаррақәоу адемократиатә ҿиара змоу азы.
Адемократиатә дунеи атеориа адгылаҩцәеи аҿагылаҩцәеи еиуеиԥшым досу дара ргәаанагарақәа ирыдгылоит.
Адемократиатә теориа ашьақәыргылараҿы аинтерес аҵоуп аҭҵаарадырҩцәа М. Доил, Б. Рассет рдунеихәаԥшра. Доил игәаанагарала (еиҳарак Кант итеориа дадгылоит), адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыдәныҟатәи аполитика амҩаԥгараҿы иазхьаԥшуеит аҩныҵҟатәи аполитика. Адемократиатә ҳәынҭқарра аиҳабыра аибашьра ианалаго рыжәлар рҿаԥхьа аҭакԥхықәра ду рхы иадырҵоит. Еицырзеиԥшу хәызмоу апринципқәеи адемократиатә ҳәынҭқаррақәеи рыбжьара ишьақәгылоит «аҭынчратә дунеи». 
Б. Рассет даҽа дунеихәаԥшышьак имоуп адемократиатә дунеи афеномен азы. Рассет игәаанагарала, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа ирымоуп иҷыдоу адемократиатә хдырра. Адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ауаа рхы рыԥхьаӡоит зхы иақәиҭу, насгьы егьырҭ ауаа рхақәиҭра апату ақәызҵо ракәны. Иара убасгьы адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ауаа ашьцылахьеит аимак-аиҿак еицәажәарала аӡбара.
Аҩбатәи Рассел иазгәаҭара аҟны адемократиатә дунеи атеориа афеномен хырхарҭас иамоуп аибашьра алагара апроцесс. Аибашьра иалагар зҭаху адемократиатә ҳәынҭқаррақәа реиҳабацәа ироуроуп аибашьра алагара ақәшаҳаҭразы еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә органқәа рҟынтәи азин. Ари апроцесс иаҭахуп аамҭа, уи рхы иархәаны аҳәынҭқарра аиҳабацәа аамҭа рымоуп аибашьра алагара азҵаара аиҭахәаԥшразы, уи иалҵшәахар алшоит аибашьра алагаразы агәаанагара аԥсахра.  
Жәларбжьаратәи аполитика анырра
Еиду Америкатәи Аштатқәа уаанӡатәи ахада Билл Клинтон ибзоурала Америка адәныҟатәи аполитикаҿы адемократиатә дунеи атеориа иаиуит аҵакы хада.. 
Адемократиатә дунеи атеориа иабзоураны ишьақәыргылан иҿыцу Еиду Америкатәи Аштатқәа рыдәныҟатәи аполитика. Адемократ Билл Клинтон иажәахәқәа руак аҿы абас иҳәоит: «Аҭынчра ашьақәыргыларазы адунеи аҟны зегь иаарылукаауа стратегиоуп адемократиа аларҵәара». 
Џьорџь Буш иакәзар, адемократиатә дунеи атеориа азы абас еиԥш агәаанагара иман: «Сара адемократиа сзадгыло, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа дара-дара аибашьра иахьаламго азы ауп. Адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҿы инхо ауаажәлар аибашьра бзиа ирбаӡом, дара ирдыруеит аибашьра иаанаго. Сара сгәы иаанагоит адемократиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо аҭынчра шьақәнаргылоит».

Алибералтә теориа ахаҭарнакцәа ргәаанагарала, адемократиатә дунеи иамоуп ачҳара. Ауаҩытәыҩса изыҳәан раԥхьа игылоуп ахыхьчара, иара убасгьы аматериалтә ҭагылазаашьа. Арҭқәа рзы ауаа дара-дара рыбжьара ацәгьаура иаҟәыҵроуп, аусеицура иалагароуп. 
Атеориа адгылаҩцәа ишазгәарҭо ала, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра алагаразы алшарақәа даара имаҷуп. Ас еиԥш атеориа аҿагылаҩцәа, даҽазныкгьы алшара рнаҭеит атеориа аҵакы аҿагыларазы. Дара ишазгәарҭо ала, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа еиндаҭло иалагар, аибашьра аҟынӡагьы икылнагар алшоит.  
Аҭҵааҩцәа иалыркаауеит х-знеишьак адемократиатә дунеи атеориа аҭҵаараҿы: аинституционалтә, анормативтә, аекономикатә еицхьыԥшымра.          
              

Алиберал -демократиатә ҳәынҭқаррақәа рымчрақәа еихшоуп, урҭ аҭыԥ ду ааныркылоит атәылауаҩра змоу ауаажәлар рыла. Аиҳабыра аполитикатә шьаҿақәа аныҟарҵо иазхәыцуазароуп ауаажәларратә гәаанарага. Ргәаанагара еиқәымшәозар, дара уаҳа алхрақәа рҟны иалрымхыр алшоит.      
       

Адемократиатә дунеи адгылаҩцәа ишазгәарҭо ала, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыгәра угар ауеит, избанзар дара жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҿы рхымҩаԥгашьа еилкаауп.  Адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рхы ршьоит аҭынчра бзиа избо ҳәынҭқаррақәан-

Аџьармыкьатә економика, иара убасгьы адемократикатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭра дара-дара рыбжьара агәрагара шьақәнаргылоит. Атеориа ишаҳәо ала, аҳәынҭқаррақәа рыбжьара ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа афеида ду рымоуп. Ибеиоу аҳәынҭқаррақәа аибашьрала азҵаарақәа рыӡбара иазҿлымҳаӡам, избанзар урҭ ирымоу абеиара рцәыӡыр алшоит.
Адемократиатә дунеи атеориа адгылаҩцәа еиуеиԥшым жәларбжьаратәи ахәаахәҭратә еиҿкаарақәа раԥҵара иадгылоит. (Адунеизегьтәи ахәаахәҭратә еилазаара, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд.)
Иҭбаау аекономикатә еизыҟазаашьақәа аҳәынҭқаррақәа рыбжьара аибашьра алагара алнаршом.

Еиду Аштатқәа иреиҳаӡоу ачынуаа 21-тәи ашәышықәса алагамҭаз адәныҟатәи аполитикеи аҳәынҭқарра ашәарҭадареи знапы ианыз ишазгәарҭоз ала, дара адемократиатә дунеи атеориа агәра ргаӡом. Аԥыжәара арҭоит адемократиатә дунеи атеориа иаҿагылоз аилазаашьатә реализм.         
  

Ареалистцәа акритика азыруеит адемократиатә дунеи атеориа аемпирикатә шьаҭа. Иаагап ҿырԥштәык. 1815–1850 шықәсқәа рзы Европа аҭышәынтәалара иахылаԥшуан Иԥшьоу Аидгыла (Урыстәыла, Австриа, Пруссиа), даҽакала иуҳәозар, идемократиатәым аҳәынҭқаррақәа. Ареалистцәа ҿырԥштәыс иааргоит адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рхатәы арратә, мамзаргьы аекономикатә интересқәа инарықәыршәан атәым ҳәынҭқаррақәа рыҩныҵҟатәи усқәа ианрылалоз (Чили, 1973), (Иран, 1950 алагамҭаз), (Индонезиа, 1960).  Убасгьы иазгәарҭоит адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара ицәырҵуаз аимак-аиҿак (Венесуелатәи акризис Еиду Америкатәи Аштатқәеи Великобританиеи, 1895–1890, Франциеи Великобританиеи Фашод азҵаара азыҳәан, Руртәи акризис, Франциеи Веимартәи Ареспубликеи, 1923).
Иалыркаауеит аекономикатә, аполитикатә, арратә потенциал адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҿы реиҟарамра, уи иахылҵуеит аиҿагылара дара рыбжьара аресурсқәа рзыҳәан. Иара убасгьы аекономикатә еицхьыԥшымра еиҟараны ишаӡам атәылақәа-алахәылацәа рыбжьара. 
Акыр акритика азыруеит аабыкьа адемократиа ахьышьақәыргылаз аҳәынҭқаррақәа рхымҩаԥгашьа. Ареалистцәа ргәаанагара ала, ари аҩыза аҳәынҭқаррақәа аибашьра алагара еиҳа иазыхиоуп. Убасгьы иазгәарҭоит идемократиатәым аҳәынҭқаррақәа ирылшоит аҭынчра ашьақәыргылара ҳәа.
Ареалистцәа ргәаанагарала, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа афеида алыргар ауеит адемократиатә режим егьырҭ аҳәынҭқррақәа рҿы ахыбгалара. Убасгьы ареалистцәа ргәаанагарала, авторитартә ҳәынҭқаррақәагьы аҭынчра ашьақәыргылара иазҿлымҳауп. Избанзар, авторитартә ҳәынҭқаррақәа реиҳабыра аибашьраҿы иаҵахар рыуаажәлар амчра аҟынтәи иахырҳәар ауеит. Убри азыҳәан дара рзы ихадоуп адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рҟны еиԥш аҭынчра ашьақәыргылара.
Ареалистцәа аҭоурых аҟынтәи аҿырԥштәқәа ааргоит (иаҳҳәап аколониақәа рзыҳәан аибашьра). Абарҭ ахҭысқәа адемократиатә дунеи атеориа иаҿагылоит. Иаҳнарбоит адемократиатә ҳәынҭқаррақәа ринтерес ахьчаразы зегьы ишазыхиоу, аибашьра убрахь иналаҵан.  Адемократиатә теориа аҿагылаҩцәа иазгәарҭоит авторитартә режимқәагьы аибашьра алагара шырҭахым, избанзар урҭ зегьы рцәыӡыр ауеит, рыԥсҭазаарагьы уахь иналаҵан. 

Акрызҵазкуа критиканы аконструктивистцәа ирыԥхьаӡоит асоциокультуртә контекст атәамбара. Адемократиатә дунеи атеориа, иара убасгьы адемократиа аилкаа шьақәыргылан мраҭашәаратәи афилософиа аҟны, убри азыҳәан ари атеориа мраҭашәаратәи аполитологцәеи аҳәынҭқарра ахадацәеи ацхыраара рнаҭоит. Аконструктивистцәа ргәаанагарала, мчылатәи адемократизациа аҭагылазаашьа еиҳа иарцәгьоит, ҿырԥштәыс иааргоит асоциалисттә лагерқәа рҳәынҭқаррақәа. 
Аҵак ду арҭоит атермин «аибашьра», «аҭынчра». Аилкаара «аибашьра» уажәшьҭа арбџьартә конфликт мацара акәӡам иаҵанакуа, уахь иахыԥхьаӡалахоит маӡала абџьар аҭирагьы.
Аконструктивистцәа ргәаанагарала, аҳәынҭқарра ахадацәа есымша алиберал-демократиатә нормақәа ирызхьаԥшӡом. Аҭакԥхықәра змоу ахадацәа иаларгалар ҟалоит дара рдунеихәаԥшра, адемократиатә норма иацәыхароу.
Адемократиатә ҳәынҭқаррақәа рыбжьара аилибакаара ыҟазар, уи иаанагаӡом даҽа режимк змоу аҳәынҭқаррақәеи дареи рҳәатәы еиқәшәоит ҳәа.  Иара убасгьы, адемократиатә ҳәынҭқаррақәа ирымаӡам ииашоу аилкаа, иарбан ҳәынҭқарроу идемократиатәу, мамзаргьы иавторитартәу азы.
Иара убасгьы, аконструктивистцәа адемократиа иахәаԥшуеит асимволтә ҵакы аҭаны. Уи абзоурала дара еилыркаауеит иарбан ҳәынҭқарроу ирҩызоу, иарбан ирҿагылоу.  Насгьы адемократиатә дунеи цхыраагӡоуп аҭоурыхтә гхақәа рыҟамҵразы. Иаҳҳәозар, даҽа жәларбжьаратә еибашьрак аламгаразы.

Окунева Е. С. Критика теории «демократического мира»: от реализма к конструктивизму. Сравнительная политика. 2015;6(4(21)).
А.Moravcsik.A Liberal Theory of International Politics. International Organization Volume 51, Number 4 (Autumn 1997)

F. Chernoff. The Study of Democratic Peace and Progress in International Relations // International Studies Review. 2004. No 6.

Farnham B. The Theory of Democratic Peace and Threat Perception // International Studies Quarterly. — 2003. — Vol. 47. — No. 3.




#Article 97: Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаҧтәи ауахәама (208 words)


Николаи ацқьа ихьӡ зху Хәаԥтәи ауахәама () — Гәдоуҭатәи амуниципалитет Хәаҧ ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа, Аҧснытәи автономтә
республика, Қырҭтәыла. Аҧсны ашьхарҧы аҿы иҟоу ахәы иқәгылоуп. 18 километр рыла Гәдоуҭа иацәыхароуп, амшын аҩаӡара аҟынтә 280 м. аҳаракыраҿ. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарҧшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылан Николаи ацқьа ихьӡала, X ашәышықәсазы.

зну иаку ахаҳәҟьаҧс, уи Хәаҧтәи ауахәама афасад ахаҳә ауп. Ахаҳәҟьаҧс агәҭаны аарҧшуп абри адҩыла зну арелиефтә Мальтатәи аџьар

Аханатә, адҩыла афрагментқәа ишьҭан Д. Гулиа ихьӡ зху аҧсуа бызшәеи,алитературеи, аҭоурыхи ринститут аҿы, уажәазы ишьҭоуп Д. Гулиа ихьӡ зху Аҧсны аҳәынҭқарратә музеи аҿы. Хәаҧтәи ауахәамақәа аҳҭынра ауахәамақәа рҳасабала иргылан, руакы аҿы иаарҧшу адҩыла инақәыршәаны, Николаи ацқьа ихьӡала абри ауахәама иргылеит Егриси- Аҧсны аҳ Гьаргь II ( 922 -957 шш.).

Раҧхьаӡа акәны адҩыла аазырҧшыз Леон Шервашиӡе идыррақәа рыла, атекстаҿы еиҭаҳәоуп аҳ Гьаргь, иҧҳа Гурандухт лира инамаданы, Николаи ацқьа ихьӡала ауахәама ширгылаз:

Апалеографиатә ганахьала, адҩыла кидурҵаисрули аҩыра иаҵанакәеит, аха, ақырҭуа епиграфикаҿы X ашәышықәса иаҵадыркуа кидурҵиасрули ахаҳәтә калиграфиа абаҟақәа иҟоуп, убри аҟынтә, Хәаҧтәи адҩыла 922-957 шықәсқәа ирыҵанакуеитҳәа ҳҳәар ҟалоит. Хәаҧтәи ауахәама зыргылаз аҳ Гьаргь Егриси-Аҧсны аҳ Гьаргь II (922-957 шш.) иоуп, иара аҧҳа даниоу, аҭабура ҳасабала, Николаиацқьа ихьӡала ауахәама иргылеит. Ҧыҭраамҭак ашьҭахь, Гурандухт „ақырҭуаараҳ“ Баграт II иҧа диццан, дара дырхылҵит иеиду Қырҭтәыла раҧхьатәиаҳ Баграт III (978-1014 шш.), иара „х-тәарҭак“ рҭынхас дҟалан, „аҧсуааи ақырҭуааи раҳ“ ҳәа ихьӡарҵеит.




#Article 98: Илиа ацқьа ихьӡ зху Амзаратәи ауахәама (107 words)


Амзара ақыҭан иҟоу ауахәама — Аҟәатәи амуниципалитет, А ԥснытәи автономтә
республика, Қырҭтәыла. Ауахәама иргылан 1910 шықәсазы.
Азалтә уахәамоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Иргылоуп ибзианы ихыу,
зшәага еи ԥшым ахаҳәқәа рыла. Ибаланскру аилазаашьа амоуп. Мраҭашәаратә
аҭӡамц афронтон аҿы, абарелиефтә аџьар аханы иҟоуп аамҭа ахьарбоу ахаҳә

Уажәазы мраҭашәаратәи ашә иҭырҭәааны иҟоуп. Аладатәи ашә наҟ-ааҟ, иара
убас аҩадатәи аҭӡамц аҿы ҩба-ҩба ахыргьагьатә а ԥенџьырқәа иҟоуп. Азал
аплан еиҵыху а ԥшькәакьҭа аформа амоуп. Адашьма амҿы иалхуп. Аныҳәарҭа
адашьма аҿа ԥсак ала ишьҭыхуп. Апсида агежьбжататә форма амоуп, уи агәҭаны
иҭа ԥҟаны иҟоуп ахыргьагьатә  ԥенџьырк. Ауахәама ахыб амҿтәы конструкциа
амоуп, ахыб ахаҭа аҭанақьы иалхуп. XX ашәышықәса  70-80 ашықәсқәа рзы уаҟа
ақыҭатә алагамҭатә школ еиҿкаан.




#Article 99: Алаҳаӡытәи ауахәаматә комплекс (108 words)


Архитектуратә баҟақәа ркомплекс Гагратәи амуниципалитет Алаҳаӡы ақыҭан —
Аԥ снытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Акомплекс ахәы иқәгылоуп.
Архитектуратә комплекс иалоуп 3 нефки 3 апсидаки змоу ауахәама хәыҷи,
насгьы, 3 нефки абжьыркцатә апсидеи змоу абазилика дуи.

Ауахәама ду аҟынтә иаанхеит аладатәи мраҭашәаратәи аҭӡамцқәа рфрагментқәа.
Ауахәама аҳаштә блокқәа рыла иргылоуп, урҭ рыбжьара акьырмыти
аԥ слымӡхаҳәи рҽеиҭныԥ сахлоит. Аныҳәарҭа дууп, азал 3 нефк рыла ишоуп.
Аҩада-мраҭашәарала, 5 метрак иацәыхараны иҟоуп ауахәама хәыҷы
ахыжәжәарақәа. Уигьы аҳаштә блокқәа ирылхуп, иара убас, аргылараан
ахархәара рыман ихыу аԥ слымӡхаҳә иалху аҳәаҟьа дуқәеи, уааҵәҟьа иҟаҵаз
ақьырмыти, ахаҳәкәымпылқәеи. Ауахәамақәа рхыбразы ахархәара аман акрамит

ашәышықәсақәа ирыҵаркәеит, аха, аргыларатә маҭәахәқәа ишеижәлантәугьы,
асинхронизм алацәажәара уадаҩуп. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы
ҳәам.




#Article 100: Мсыгәхәа ашьхан иҟоу ауахәама (393 words)


Мсыгәхәа ашьхан иҟоу ауахәама () — Аԥснытәи автономтә республика Гәдоуҭатәи амуниципалитет Приморское (ԥаса ақыҭа «Аҟәара») ақыҭа азааигәара иҟоу ауахәама, 3 километрк рыла Амшын еиқәа иацәыхараны, аӡиас Цәкәара аҩхааҿы иҟоу аҳаракыраҿ игылоуп, аҭыԥантәи ауааԥсыра абриаҳаракыра Мсыгәхәа ашьха ҳәа иашьҭоуп. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу ақырҭуа адҩылақәа инрықәыршәаны, ауахәама иргылан VIII-IX ашәышықәсқәа рзы, Амаалықь хада Михаил ихьӡала. Ахцәажәара 1962 шықәсазы Мсыгәхәа ашьхаҿ аарԥшын ажәытәӡәатә акульттә ргыламҭа ахыжәжәарақәа, раԥхьаӡа акәны абри аҭыԥ аҿы археологиатә ҭҵаарақәа мҩаԥигеит аԥсуа аҭоурых-культуратә ҭынхара аҭҵааҩы Вианор ԥачулиа, аха, анеҩс, Қырҭтәыла абаҟақәа рыхьчара ауаажәларреи Қырҭтәыла аҵарадырратә академиа иаҵанакәа Д. Гәлиа ихьӡ зху абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститути рыдҵала, абаҟа аҭҵаара иалагеит аԥсуа аҵарауаҩ Анатоли Кациа дызхагылаз аекспедициа ҷыда, иара иоуп зыхьӡ ҳәоу ауахәама иара иахьгылоу ашьха ахьӡ ахызҵаз. Аекспедициа алахәылацәа Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама аҟынтә аҩадахьала, 2 километрак рнеҩс, Аҷануа ашьха анаараҿ даҽа уахәамак аадырԥшит, уи, иара иахьыҟаз аҭыԥ инақәыршәаны, «Аҷануа ауахәама» ҳәаахьӡарҵеит. Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәамеи „Аҷануа ауахәамеи“ иазкны аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы адыррақәа иҟам, абарҭ ауахәамақәа ирызку ҿырҳәалатәи аинформациагьы аанымхеит.
А. Кациа ишиҩуа ала, Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама абжьарашәышықәсақәа ирыҵанакәа аҟәырӷтә ргыламҭоуп, инаау ахыргьагьа ала. Аҟазараҭҵааҩцәа ргәаанагарала, зыӡбахәы ҳәоу ашьхатә уахәама ақырҭуа архитектура адыргақәа амоуп, Қырҭтәыла егьырҭ аҭоурыхтә ҭыԥқәа рҿы иҟоу ауахәаматә ргыламҭақәа
излареиԥшу адыргақәа убарҭоуп. Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иубарҭоуп
аргыламҭа еиуеиԥшым аструктуратә детальқәеи, адекорациеи, нада - аадала
еиҟароу ахаҳәҟьаԥсқәа рфрагментқәеи, еиуеиԥшым архитектуратә декор ала
иҩычоу ахаҳәтә ныҳәарҭа афрагментқәеи, ауахәама ахыб афрагментқәеи,
ақырҭуа адҩыла змоу „Мальтатәи аџьар“ зну акерамикатә ахаҳәҟьаԥсқәеи.

Ауахәама ахыжәжәарақәа рҿы иаарԥшу акрамиттә антефиқсқәа ирнуп ақырҭуа
асомҭаврули адҩылақәа. Акрамиттә аибаркыгақәа формак ала иҟаҵоуп, урҭ
еихшьааланы иалҵуеит „Мальтатәи аџьар“. Инеизакны аарԥшуп адҩылақәа
змоу 46 акрамиттә антефиқсқәа. Урҭ рҟынтә 43 Пицундатәи ауахәамаҿ ишьҭоуп,
егьырҭ хԥа – Корнели Кекелиӡе ихьӡ зху анапҩырақәа амилаҭтә центр аҿы.
Антефиқсқәа рҿы иҟоу адҩылақәа ҩбаны еиду арамка иҭасаны иҟоуп, аҵакы
инақәыршәаны иуҳәозар, 2 гәыԥк ирыҵанакәеит. Актәи агәыԥ адҩылақәа:

Абри аҵакы змоу 30 цыра адҩылақәа идыруп. Аҩбатәи агәыԥ адҩылақәа:

Абри атекст ихьчоуп 16 акрамиттә аибаркыгақәа рҿы. Адҩылақәа рҵакы аҟынтә
ишубарҭоу ала, Михаил ҳәа захьӡыз аӡәы анажьра даҳәон Амаалықь хада
Михаил ихьӡала иара ихаҭа ииргылаз ауахәамаҿы. Апалеографиатә ганахьала
иуҳәозар, Мсыгәхәа ауахәама адҩылақәа рҿы иубарҭоуп ақырҭуа асомҭаврули
анбан азы иҟазшьарбагоу ажәытәӡатә дыргақәа: адҩылақәа арелиефтә
аихҵәарсҭа ду рыла иҟаҵоуп — аграфемақәа арелиеф иҭаԥҟаны иҟоуп.
Аихҵәара аан ихьчоуп ҩ-цәаҳәактәи аҩыратә аҳа атрадициеи асомҭаврули азы
иҟазшьарбагоу амонументалреи.

Мсыгәхәа ашьхаҿ иҟоу ауахәама архитетуратә детальқәеи апалеографиатә
дыргақәеи иазԥхьагәаҭаны иуҳәозар, ауахәама аргылареи адҩылақәа рыҟаҵареи
ҵаҟатәи ахронологиатә аҳәаа  VIII ашәышықәса акәзар ҟалап, хыхьтәи
ахронологиатә аҳәаа -  X ашәышықәса алагамҭа.




#Article 101: Акоррупциа (1227 words)


Акоррупциа ( «растлевать»,  «подкуп, продажность; порча, разложение; растление») – атермин иаанагоит амаҵзуратә хаҿы имчра, изинқәа ихы иархәаны, иара убасгьы иофициалтә статус аҳаҭыр, илшарақәа, аимадарақәа рхархәара ала ихазы ифеидоу, аха азакәанԥҵареи аморалтә шьақәгылақәеи ирҿагыло аусқәа рымҩаԥгара. 
Акоррупциа ҳәа азырҳәоит, иара убасгьы, амаҵзуратә хаҿқәа раахәара, урҭ рыҭира, раахәара алыршара, ус еиԥш рҟазшьоуп амафиозтә ҳәынҭқаррақәа. Европатәи абызшәақәа рҟны ари атермин инарҭбаау асемантикатә еилкаара амоуп.

Иахьатәи аамҭазы акоррупциа аӡбахә ахьырымҳәо ҭыԥк аԥшаара уадаҩзар ҟалап, уи арыцҳарақәаеи аҭышәантәаламрақәеи ирхарарҵоит. Зегьы ирдыруеит, ауаа рсоциалтә ҭышәынтәалара зхьыԥшу атәыла аекономикатә ҿиара аӷас ишамоу акоррупциа, аха иҟоуп ари аҭагылазаашьа аҟны иџьаушьаша, уи иаҿагыланы ақәԥара аӡәгьы дахьахымыццакуа.
Зегьы ҳәарада ирдыруеит атермин «акоррупциа» иаанаго, аха имаҷҩуп издыруа ари апроблема адунеи ишақәлоу. Иџьашьатәызаргьы, аԥхьабзазаратә еилазаарақәа рҟынгьы аԥхьагылацәеи аныхаԥааҩцәеи рхәы шнаргоз, аҳамҭақәа шрырҭоз, урҭ назгоз рахь рзыҟазаашьа рыԥсахырц азы. 

Акоррупциа иаҿагыланы иқәԥоз раԥхьатәи анапхгаҩцәа дыруаӡәкны аҭоурых аҟны зыӡбахә аанхаз шумертәи аҳ Уруинимгиан иоуп, ҳера ҟалаанӡа XXIV ашәышықәса аҩбатәи азбжазы ақалақь-аҳәынҭқарра Лагаш напхгара азҭоз. Зегьы ирбо-ираҳауа акоррупциа иалаҟьашьыз шахьдырхәуазгьы, уи иаҿагыланы ақәԥара лҵшәа дук амамызт.
Акоррупциа аӡбахә ахьҳәаз трактатуп «Артха-шастра» — уи Бхарата (Индиа) аминистрцәа руаӡәк Каутилиа апсевдоним ганы, ҳера ҟалаанӡа IV ашәышықәсазы икьыԥхьит ари аусумҭа.
Ас еиԥш апроблема рыман Ажәытәӡатәи Мысра (Египет) афараонцәагьы, арагьы ачынуаа рбиурократиатә аппарат зхы иақәиҭыз анхаҩцәеи, анапҟазацәеи, аруааи рганахь ала изакәанмыз аусқәа мҩаԥыргон. 
Иаанхеит Итахотел захьӡыз аӡәы ихшыҩырҵара, уи абас иҩуан: «Убӷа рҟәла аиҳабыра рҿаԥхьа, усҟан уҩны зегьы бзиахоит, ууалафахәгьы ишахәҭоу еиԥш иуоулоит, избанзар иусқәа ҽеим аиҳабы иҿагыло, аха аԥсҭазаара мариахоит аиҳабы ибзианы изыҟазаара аан».

Ауаа реиҳараҩык акоррупциа закәу еилыркаауеит амаҵзура ахархәара ала рхатәы феида шалырхуа џьоукы. Насгьы, ари ажәа аҵарҭышагара аилкаара иадырҳәалоит. Аха, абра иазгәаҭатәуп акоррупциа аҵарҭышагара мацара аҟны ишаанымгыло.
Иазгәаҭатәуп акоррупциа аҭыԥ шамоу аҳәынҭқарратә маҵзурақәа рҟны мацара акәымкәа, ахатәы сектор аҟынгьы. Ари афеномен ҷыдарақәас иамоу иреиуоуп амаҵзуратә хаҿи уи аусурҭа ҭыԥла аиқәыршәаҩи рыбжьара, аинтересқәа рыбжьара, даҽакала иуҳәозар, анаплакқәа, асоциум, аҳәынҭқарра уҳәа рҟны ицәырҵуа аконфликт.
Акоррупциа аҟазаара афактор хаданы иҟоуп феидак алгара, аиура (уи материалтәымзаргьы ауеит), акоррупциа ахаламгаларазы ауаа аанызкыло факторны иҟоуп ацәгьоуразы ахьырхәра. Даҽа факторны акоррупциа аҟазаара алшара ҟазҵо иреиуоуп азинтә скепсис, атәылауаа рзинқәа рзымдырра, аграждантә хдырра алаҟәра.
Акоррупциа - ари социалтә цәырҵроуп, ари иаанаго апроцесс ҩ-ганк ралахәхара ауп. Ганкы егьи аган феидак злоу уск азыҟанаҵоит уи аинтересқәа рынагӡаразы, иара убасгьы ари алшара ҟанаҵоит аҩбатәи аган амаҵзуратә ҭагылазаашьала цәгьашақә ахархәаразы. Аҩбатәи аган акәзар, афеида зауа акәхоит, актәи аган адҵақәа рынагӡара ала. Арахь иаҵанакыр алшоит амаҵзуратә уалԥшьақәа рынагӡара, мамзаргьы рынамыгӡара, иарбанызаалак аинформациа адгалара уҳәа.  

Акоррупциа аилкаара даара аганрацәа амоуп, еиуеиԥшым апараметрқәа ирхьырԥшны иара ахкыхадақәа алыркаауеит. Акоррупциа ахырхарҭа ала уахәаԥшуазар, иҟоуп административтә коррупциа, уи аиԥшымзаара ауп аусутә коррупциа ҳәа изышьҭоу. Иҟоуп абзазаратә, аполитикатә коррупциа. Уи зхьыԥшу афеида иалырхырц ирҭаху зеиԥшроу ауп. Иҟоуп убасгьы аҵарҭыша, ахаҵкыкамыршәрақәа реимдара (апатронаж, анепотизм), иара убас ҷыдалатәи, аинституционалтәи, жәларбжьаратәи.
Урҭ раарԥшышьа аформақәа рахь иаҵанакуеит аҵарҭышагара, амчреи аҭагылазаашьеи рхархәара, аҩныҵҟатәи аинформациа ала ахәаахәҭра, анепотизм (ахылаԥшра), абҕа ӷәӷәа амазаара, алоббизм, аԥарафара, аԥарақәа ихықәкылатәым рныхра. 

Акоррупциа еиԥш иҟоу ацәырҵра аҟазаара зыхҟьо даара ирацәоуп. Урҭ зегьы реиқәыԥхьаӡара даара иуадаҩзаргьы, акык-ҩбак ирзааҭгылазар ауеит:
зегь реиҳа иалкаатәу мотивзар ауеит, ауаа ас еиԥш ацәгьоура дзырҟаҵо, ауааԥсыра рыԥсыцәгьара. Аԥсыцәгьара ауп ауаа ас еиԥш ахныҟәгашьақәа рахь ирыхо, уи ирханаршҭуеит аморалтә шьақәгылашьақәа ртәгьы; 
егьырҭ зегь раԥхьа иргылатәу амотивқәа иреиуоуп: аҵарадырра, ааӡара, асоциалтә ҭакԥхықәра, ахдырра алаҟәра, аҭакԥхықәра амамзаара, иара убасгьы акоррупциа акт иалахәу егьырҭ рхатәы ҟазшьарбагақәа, раагарҭа амаҷра;
азинтәи аӡбарҭатәи система адисфункциа, ас еиԥш азинеилагаразы иашьашәалоу ахьырхәра аҟамзаара, азакәанқәа иалкаау еилкаарак ахьрымам (статиак еиуеиԥшым ахцәажәара, аилкаарақәа амазар ауеит);
анагӡаратә мчра акзаара аҟамзаара, ипрофессионалтәу аус дырра аҟамзаара, абиурократизм;
ауааԥсыра рзинтә дырра алаҟәра;
аҩганкгьы алахәцәа акоррупциа акт ралахәхара. 

Акоррупциа еиҳа аҿиара ахьамоу ахырхарҭақәа
Transparency International — иҳәынҭқарратәым жәларбжьаратәи еиҿкаароуп акоррупциа иаҿагыланы иқәԥо, насгьы адунеи зегьы аҟны уи ашьаҭақәа ахьынӡаҳахьоу ҭызҵаауа. Ари аиҿкаара есышықәса аҳасабырбақәа акьыԥхьуеит, урҭ ирныԥшуеит рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа, иара убасгьы адунеи атәылақәа зегьы акоррупциа шрыдыркыло Аиндекс азгәарҭоит.
Transparency International аҳасабырба инақәыршәаны, 2017 шықәса рзы атәылақәа Украина, Казахсҭан, Урыстәыла рҟны аӡәырҩы атәылауаа рҿырықәшаҳаҭхеит, дара изныкымкәа аҵарҭыша шрырҭахьо ала, иара убасгьы акырынтә «агәыҳалалратә» лагалақәа ҳәа изышьҭоу шыршәахьо. 

Иара убасгьы, иҳәатәуп анцәа имаҵзурауаа рыбжьарагьы иԥшьоу ҳәа акагьы шаанымхаз, ауахәамақәа рҟынгьы акоррупциа ашьаҭақәа ҕәҕәаны иаҳаит. Аҭҵаарақәа рылҵшәақәа иаадырԥшит акоррупциа анхара — коммуналтә усбарҭақәа рҟынгьы даара аларҵәара бзиа шамоу.

Аҵарҭышагара ҳаамҭазы даара ирацәаны аҭыԥ амоуп. Лассы- лассы ажәабжьқәа рҟны уаҩы иԥылоит акоррупциатә схемақәа раарԥшра иазку адыррақәа. Ҿырԥштәыс иаагозар, Онишьенко иус, Курченко исхемақәа ртәы, аоперациа «Иантар», Алексеи Улиукаев иус, «Оборонсервис» аус уҳәа ирацәаны.
Аҳәынҭқарратә аахәарақәа ирызку акоррупциа ахырхарҭа акәзар, ари хазы игоу темоуп. Асистема ахаҭа аҳәынҭқарратәи амуниципалтәи аахәарақәа зегь реиҳа «иманшәалоуп» акоррупциатә схема аларҵәаразы. Астатистикатә дыррақәа инарықәыршәаны, 60% инаркны 90% рҟынӡа аҳәынҭқарратә аахәарақәа азакәан аилагарақәа аҭыԥ рыманы имҩаԥысуеит. Иааизакны аекономикатә хырхарҭақәа зегьы акоррупциа аҿиара иазырхоуп уҳәар алшоит. 
Аха имаҷҩуп издыруа, есҽны акоррупционерцәа рҟны аус шҳамоу. Еиҳаракгьы ари ацәгьоура ауаа иахьырԥыло аҵарадырра ахырхарҭа аҟны шакәу. Иаҳҳәозар, ашколқәа рдиректорцәа аремонт, мамзаргьы аԥарда ҿыцқәа раахәаразы лассы-лассы аԥара еизыргоит. Иреиҳау аҵараиурҭақәа рҟны акәзар, астудентцәа акафедра аҭахрақәа раахәара азын аԥара еизыргоит. Ас еиԥш иааугаша аҿырԥштәқәа даара ирацәоуп.
Амедицина аҟны акәзар, акоррупциа аҟазаара иахәҭоу акы акәны иахәаԥшуеит. «Агәыҳалалратә» лагалақәа ҳәа изышьҭоу, ахәышәтәырҭақәа рҟны лассы-лассы иуԥыло цәырҵроуп, насгьы аҳақьымцәеи амедиаҳәшьцәеи рзы аҳамҭақәа ртәы аҳәара аԥсамзар акәхап. Ар рҟны акәзар, акоррупциа ари зегьы зышьцылахьо усуп, арратә комиссариат аҟны арра ирымгарц азы аҵарҭыша рызҭогьы, изгогьы ауаа маҷҩым.
Аусӡбаратә хеилак аҟны акәзар, апрокуратуреи аӡбарҭеи рҟны реиҳараҩык атәылауаа ирыдҳәалам, аха аҵарҭышагара ари ахырхарҭа аҟны лассы-лассы аҭыԥ змоу усуп. Ажәабжьқәа рҟны ҿырԥштәыс иаагозар, акры зку ауаҩы машьынала дисны дишьыр, уи ихы дшақәиҭу, ихы шҿихыз атәы уаҳауеит, иҟоуп аҿырԥштәқәа маҷымкәа аусқәа зынӡагьы ианхацдмыркуа. 

Аӡәырҩы агәаанагара роурц алшоит акоррупциа ари аӡәы иԥырхагам цәырҵроуп ҳәа, аха аусқәа зынӡа даҽакала ауп ишыҟоу. Уи аҳәынҭқаара, ауаажәларра, хаз игоу атәылауаа ирнаҭо анырра бааԥсы ахәшьара аҭара уадаҩуп. Акоррупциа аилазаара аморалтә шьақәгылашьақәеи, аҳәынҭқарра аекономикатә ҿиареи, жәларбжьаратәи арена аҟны аимидж аларҟәреи, еиуеиԥшым ауадаҩрақәа раԥҵареи ҟазшьас иамоуп:
аҳәынҭқарратә биуџьети аресурсқәеи, мамзаргьы аилазаара ахашәалақәеи аныхтәқәеи ииашамкәа рхархәара, рныхра, реихшара ҟазшьас иамоуп;  
ашәахтәқәа зегьы рылымгара (ахашәала);
аекономикеи уи асубиктқәеи рҵакы ланарҟәуеит;
аекономикеи уи асубиектқәеи русура аҭагылазаашьақәа реицәатәра;
аекономикеи уи асубиектқәеи рахь аинвестициатә лагалақәа рыҟаҵара алаҟәра;
ауаажәларратә сервис, акоммерциатә сектор аҟны амаҵзурақәа рхаҭабзиара алаҟәра;
аҿиара иаҿу атәылақәа ирымоу жәларбжьаратәи ацхыраара хықәкыла анымхра аҳәынҭқарра ауал дуқәа ақәнаҵоит, акредитқәа ишахәҭоу ахамырхәара анаплакы ахыбгаларахьы икылнагоит;
асоциалтә еиҟарамра еизҳауеит;
еиҿкаарыла имҩаԥысуа ацәгьоурақәа рацәахоит;
асоциалтә гәынамӡара иацлоит. 

Акоррупциа аҿагылара – ари комплексла ишьақәыргылоу усқәоуп, иара ззырхоу заанаҵы уи аарԥшра, азԥхьагәаҭара, акоррупциатә зинеилагарақәа ианаамҭоу раԥырҟәҟәаара, урҭ рзын аусеилагарақәа рымҩаԥгара, насгьы ас еиԥш ацәгьоурақәа маҷхарц аусура ауп.
Иахьатәи аамҭазы акоррупциа иаҿагыланы иқәԥоит адунеи атәылақәа зегьы, уи аиааира зылшазгьы еснагь аҭагылазаашьа хылаԥшра арҭоит, апрофилактикатә усқәа лассы-лассы имҩаԥыргоит.
Уи анаҩсангьы, акоррупциа иаҿагыланы иқәԥоит жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа, ас еиԥш аҭагылазаашьа ҿырԥштәыс иамоуп - Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи Transparency International, Акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара аус аҟны акыр аихьӡарақәа рымоуп абас еиԥш атәылақәа: Сингапур, Гонконг, Даниа, Швециа.
Ас еиԥш иҟоу ауаажәларратә проблема аԥыхразы иалкаау, изықәныҟәаша знеишьак шыҟамгьы, азнеишьақәа ридеиа  атәылақәа  зегьы ирзеиԥшуп — акоррупциа  иахьынӡауа  армаҷра,  уи аҟазаареи аҿиареи иацхраауа афакторқәа раԥыхра. 
Акоррупциа иаҿагыланы ақәԥара аметодқәа рахьтә зегь реиҳа ирадикалтәуп ҳәа иԥхьаӡоуп асистема зегьы арҿыцра – аиҳабыра реиужьра, аӡбарҭатә система аҟны ареформақәа рымҩаԥгара, аҳәынҭқарратә напхгараҭара ашьаҭақәа рыԥсахра. Абри анаҩсгьы, иалыркаауеит акоррупциа иаҿагыланы ақәԥаразы х-методк;
ари ацәгьоуразы ахьырхәра арӷәӷәара, иара убасгьы иаарласны акоррупциа афакт ахьырхәразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара;
иҷыдоу азинмчи амчреи змоу ауаа аԥарарҳара рылзыршо, убри аан азакәан еиламгакәа, аекономикатә механизмқәа раԥҵара;
аџьармыкьатә економика арӷәӷәара, уи иалнаршоит акоррупциа аҟнытә афеида армаҷра.
Акоррупциа иаҿагыланы ақәԥаразы аинновациатә методқәаны иалыркаауеит атехнологиа «блокчеин» алагалара, зегьы ирбо-ираҳауа адыррақәа рыхьчара, рыҵәахра азы. 2017 шықәса рзы ари атехнологиа тәылақәак реиҳабырақәа рҟны рхы иадырхәо иалагеит. Аекспертцәа агәра ганы иҟоуп, блокчеин алагалара иабзоураны аинформациа иаарту ареестр аҟны аҵәахра, илегалтәым акоррупциатә схемақәа реиҵатәра шалнаршо. Убри анаҩсгьы, акоррупциа иаҿагыланы ақәԥараҟны ауаажәларра аус рыцура ахатәы лҵшәақәа аанарԥшит. Ара зыӡбахә ҳәоу ауааԥсыра рзинтәи рполитикатәи ҵарадырра аизырҳара, атәылауаа информациала реиқәыршәара, аграждантә ҭакԥхықәреи ахдырреи реизырҳара уҳәа роуп. 




#Article 102: Амассатә амлакра (1203 words)


Амассатә амлакра – ари акраамҭа афатә аалыҵ азымхара иадҳәалоу социалтә рыцҳароуп, уи иахҟьаны арегион дуқәа рҵакырадгьылқәа рҟны массала ауаа рацәа ҭахоит. Амлакара ҩ-хкыкны ишоит — иабсолиуттәуи акы иадҳәалоуи ҳәа.
Иахьатәи аамҭазы адунеи фатәаалыҵла аиқәыршәаразы иҟоу аресурсқәа шазхогьы, аекономикатәи, асоциалтәи, аполитикатәи ҟазшьақәа змоу ауадаҩрақәа ыҟоуп, урҭ иахәҭоу аҭахрақәа рызхарҭәаауам.

Иосиф — ари Аԥшьаҩыра аҟынтә хаҿсахьоуп («Бытие», гл. 37—50), Иосиф иҟынтә абжьгарак иоурц азы дидҵаалоит афараон ихаҭа. Уи иибаз аԥхыӡ ииашаны аилыркаара аҟаҵара илшеит, иагьиҳәеит быжьшықәса инеиԥынкыланы аҽаҩра бзиа шыҟало, аха урҭ ашықәсқәа ирыцааиуа даҽа быжьшықәса амлакра шыҟалоз азгәеиҭеит аарыхра аҟамлара иахҟьаны, убри аҟынтә Иосиф афараон иабжьигеит аарыхра бзиа аныҟоу ашықәсқәа рзы арыц рҵәахырц. Афараон ас еиԥш абжьгара даара игәы иахәеит, Иосиф иҟәыҕара азгәаҭаны анхамҩа зегьы аҟны еиҳабыс дҟаиҵеит. Убас Иосиф амлакра ашықәсқәа раан арыц аҭира напхгара аиҭон. Аԥҵамҭа аҟны ишазгәаҭоу ала, урҭ ашықәсқәа раан адгьыл зегьы аҟны амлакра ыҟан. Иосиф иашьцәа ракәзар, рыԥсҭазаара ахҭынҵаны изныкымкәа Мысраҟа ицахьан ачарыц аархәарц азы. 
Аԥааимбар Илиа («3-я Книга Царств», гл. 16—19 и «4-я Книга Царств» гл. 1—2, 1—15)   израильтәи аҳ Ахав ихаан дынхон, уи изымҵахырхәо Ваалу (амра) диашьапкуан, ижәларгьы ари аидол иашьапкларц рыдиҵон. Илиа Ахав иахь днеины Анцәа ихьӡала иеиҳәеит урҭ ашықәсқәа рзы арыцҳарақәа шыҟало, избанзар ақәа ауам, аӡаӡа аҳәом, анцәа ианимыҳәа аамҭазы ҳәа.
Ус иагьыҟалеит. Аарҩара ҕәҕәа ҟалеит, ашьацҵәҟьа хҩааит, амлакра аҭыԥ аиуит. Илиа Анцәа имчала адәысакарак аҟны иҟаз аӡыхь азааигәара дынхеит, уахь иара аҟәраанқәа ачеи акәаци изнаргон, аӡиас аҟынтә аӡы ижәуан. Аӡиас анҭаба, Анцәа аԥааимбар идиҵеит амырҭаҭратә қалақь Сидонынтәи Сарептуҟа дцарц, уа инхоз аԥҳәысеиба рыцҳа лҟны дынхарц.
Ари аԥҳәысеиба лԥеи лареи еицынхон, лара фатәыс илзынханы илымаз уаԥсҵәык ашылеи хәша хәыҷыки ракәын. Сарепту иааз Илиа ари аԥҳәыс илеиҳәеит ача изылӡырц, убри аан агәралиргеит илымоу ахәшеи ашылеи ахаан ишагымхо, Анцәа адгьыл аҟны ақәа аируаанӡа.
Аԥҳәыс аԥааимбар иажәа агәра лгеит, ишиҳәазгьы дныҟәеит. Иаргьы иажәа наӡеит. Аха иаарласны ари аԥҳәыс лԥа даачмазаҩханы дыԥсуеит. Аԥааимбар Илиа иԥсыз аҷкәын дихагыланы хынтә Анцәа даниҳәа иԥсы ҭалоит. Хышықәсеи бжаки Израиль аарҩара ыҟан, уи адгьыл иқәынхоз ажәлар рыҽкажьны анцәа иашьапкра иалагеит, Анцәагьы дазхарҵеит. Абри анаҩс Илиа ашьха дхаланы ақәа ауразы анцәа иҳәара далагеит. Иасит амшын аҟынтә аԥша, ажәҩан аԥҭа еиқәаҵәақәа ихырҩеит, ақәаршаҩы аура иалагеит. 

XIX ашәышықәсанӡа амассатә млакра атәылақәа зегьы рзын ирбац-ираҳац цәырҵран. Уи зыдҳәалаз аарыхра аҟамлара ауп. Абжьаратәи ашәышықәсазы, ес 8—10 шықәса рахьтә шықәсык аԥсыҭбара рацәа зцыз амлакра ҟалон. Зегь реиҳа иуадаҩыз ашықәсқәа Франциа азы 1030—1032-тәи, 1280—1282-тәи ашықәсқәа ракәын — Богемиа азы.  
Ҳаамҭазтәи аҭоурыхҭҵааҩцәа ишазгәарҭо ала, 1125 шықәса рзы Германиа аҭыԥ змаз амлакра ара инхоз ауааԥсыра рыбжаҵәҟьа ықәнагеит. Амлакра иацын ачымазарақәа, арҳәрақәа, ауаҩшьрақәа, аҽшьрақәа, анҵәара. Ауаа убранӡа инеиуан, иҟан зхәыҷқәа шьны изфозгьы – 1505ш. Венгриа. Закәанла ишьақәырҕәҕәан аҕарцәа ақалақьқәа ирылцаны ркацара, урҭ уа аԥсра изацәцомызт; Франциа ас еиԥш азакәан ахархәара аман XVII ашәышықәсазгьы. 

Китаитәи амлакра ҕәҕәа аан, уи аҭыԥ аман 1959 шықәса инаркны 1961 шықәсанӡа, аиҳабыраа иҟарҵо адыррақәа рыла, рыԥсҭазаара иалҵит 15 миллионҩык ауааԥсыра, аха иофициалтәым адыррақәа рыла, иԥсыз 36 миллионҩык иреиҳауп. Китаи ари атрагедиа «Три года стихийных бедствий» мамзаргьы, «Три горьких года» ҳәа азырҳәоит.
Урыстәыла акәзар, амлакра аҭыԥ аман 1891 шықәса инаркны 1892 шықәсанӡа – ари аамҭа Урыстәылазы аекономикатәи аепидемиатә кризисны иазгәаҭан. Иара иаҵанакит жәибыжь губерниа, 36 миллионҩык ауаа ахьынхоз. 
Европа амассатә млакра ажәытәра иагеит ҳәа уҳәар алшоит XIX ашәышықәса азбжазы, аимадаратә мҩақәа рыҿиара иабзоураны, уи иалнаршеит афатә аалыҵ аҽаҩра ахьыҟамлаз аҭыԥқәа рахь рнагара.
Ишьақәгылеит афатәаалыҵ адунеизегьтәи аџьармыкьа. Ача ахә атәыла аҟны аҽаҩра аҟалареи аҟамлареи иахьыԥшымызт. Ауааԥсыра ракәзар, раагарҭақәа ирызҳаит, анхаҩцәа аҽаҩра аныҟамлалакгьы ирзымхоз афатә аалыҵ аахәаразы алшарақәа роуит.  
 

Европа амассатә млакра ажәытәра иагеит ҳәа уҳәар алшоит XIX ашәышықәса азбжазы, аха, егьа ус акәзаргьы, еиҳа аҿиара маҷ змаз атәылақәа рҟны аҩажәатәи ашәышықәсазгьы амлакрақәа аҭыԥ рыман. Иаҳҳәозар, африкатәи атәылақәа рҟны амассатә млакра аҭыԥ аман 1968-тәии 1973-тәии ашықәсқәа рзгьы. Усҟан аарҩара иахҟьаны иҟалаз амлакра аан 100-нызқьҩык рҟынӡа ауаа ԥсит. Уи азы адырра ҟаиҵеит амедицинатә усзуҩы Џьон А. Дреисбек, иара Нигериа 30 шықәса инеиԥынкыланы дынхон.
Амилаҭтә географиатә еилазаара аҟны 1978 шықәса рзы аҭыԥ змаз арыцҳара атәы аҳақьым Дреисбек абас еиԥш дахцәажәоит:

Нигериа Африка иҟоу ҭыԥуп, иара адунеи зегьы аҟны еиҳа аарҩарақәа аҭыԥ ахьамоу ҵакырадгьылуп. Ақәа анамуа, ара иахьа уажәраанӡагьы ауаа ԥсуеит, аӡиасқәа ҭабоит, аҽаҩра аарҩара иқәнахуеит. 

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҵанакуа афатә — ажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы аиҿкаара адыррақәа рыла, 2010 шықәса, цәыббрамзазы амлакра иаргәаҟуа ауаа рхыԥхьаӡара 925 миллионҩык ыҟоуп, ари ахыԥхьаӡара 2008-тәи ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 98 миллинҩык рыла еиҵоуп. Урҭ рахьтә 578 миллионҩык имлашьуа ауаа нхоит Азиеи — Аокеан ҭынчи ирыҵанакуа арегион аҟны, 239 миллионҩык – Африка, 108 миллионҩык — егьырҭ атәылақәа рҟны.
Имлашьуа рахьтә ҩба — ахԥатәи ахәҭа иаҵанакуа ауаа нхоит – Бангладеш, Китаи, Адемократиатә Республика Конго, Ефиопиа, Индиа, Индонезиа, Пакистан.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара 2008 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы иҟанаҵаз адыррақәа рыла, адунеи зегьы аҟны имлашьуа рхыԥхьаӡара 960 миллионҩык ауаа инареиҳаны иҟоуп. Зегь реиҳа хыԥхьаӡарала (907 миллионҩык ауаа) изфо змам ауаа ахьынхо аҿиара иаҿу атәылақәа рҟны ауп. 65 процент урҭ рахьтә Индиа, Китаи, Конго, Бангладеш, Индонезиа, Пакистан, Ефиопиа инхоит. 
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҵанакуа афатә — ажәтәи ақыҭанхамҩеи рзы аиҿкаара адыррақәа рыла, 2002 шықәса инаркны 2004 шықәсанӡа, ҵаҟа зсиа аагоу атәылақәа рҟны хә - миллионҩык инарзынаԥшуа имлагоз ауаа нхон.
Масштабла аҭыԥ змаз амлакра иахҟьаны Мрагыларатәи Африка 2011 шықәса рзы 50-нызқьҩык инадыркны 100-нызқьҩык рҟынӡа ауаа рыԥсҭаазара иалҵит, 2012 шықәса рзы Сахара рызхара афатә рмоуит 856 миллионҩык ауаа.

Убас, ҿырԥштәыс иаагозар, аҽшьрақәа рхыԥхьаӡара иацлоит, ииуа рхыԥхьаӡара иагхоит. Амлакра аниаслак анаҩс ииуа рхыԥхьаӡара дырҩегьых еизҳауашәа иҟалозаргьы, аҭаацәара иалало рхыԥхьаӡара еиҵахоит. Амассатә млакра адемографиатә еилазаара даара иаԥсахуеит, ахәыҷқәеи абыргцәеи ас еиԥш ахҭысқәа раан рус иагхозар, аҳәса рус иацлоит. 
Аполитикеи амлакреи
Стив Деверо, амлакра зыхҟьо азы акыр аҭҵаарақәа авторс ирымоу, 2000 шықәса рзы «Голод в 20-м столетии» захьӡу ашәҟәы ҭижьит (Famine in the Twentieth Century), уа иҷыдоу азхьаԥшра амоуп Африка ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, аброуп иахьазгәаҭоу акыр амлакратә хҭысқәа. Автор игәаанагарала, ари адунеи арегион аҟны амлакра мзыз хадас иамоу бџьаршьҭыхлатәи аиҿагыларақәа роуп, урҭ ирхырҟьаны ақыҭанхамҩақәа ықәӡаауеит, атәылахь афатә — ажәтә аагара асистема аус ауам. Деверо иажәақәа рыла, «амлакра зыхҟьо уи ауп, уи аӡәгьы иахьаԥимырҟәҟәааз – амлакра арахь ааира аӡәгьы аанкылара дахьашьҭам».
Британиатәи африкаҭҵааҩы Алекс да Ваал (Alex de Waal), Африка аҭыԥ змоу амлакра акыр ашәҟәқәа азызкхьо, аҵыхәтәантәи ишәҟәы «Голод, который убивает: Дарфур, Судан» аҟны ишьақәирӷәӷәоит, «иарбанызаалак аҳәынҭқарра анапхгара, дара ирҭахханы ианыҟала аамҭазы, ирылшоит амлакра аанызкыло аусқәа рыдкылара» — ҳәа. 
Иазгәарҭоит Африка ақыҭанхамҩа арҿиара азҵаара апотенциал ду шамоу, иҟаӡам ус еиԥш аҵаҵӷәы, ари аконтинент аҟны афатә аалыҵ азы адефицит ҟаларц азы. 
Маик Девис (Mike Davis) ишәҟәы «Холокост Викторианскои епохи» (The Late Victorian Holocausts) аҟны дазааҭгылоит азеижәтәи ашәышықәса анҵәамҭазы адунеи арегионқәа акыр рҟны ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа. 
Усҟан амлакра аҭыԥ аман Индиа, Китаи, Бразилиа, Африка, амла иакны иԥсуаз рхыԥхьаӡара даараӡа ирацәан, амҩадуқәа аԥсцәа рыла ихҟьан уҳәар алшоит. Амлакра иахҟьаны амассатә емиграциақәа ирылагеит, урҭ инарывагылеит арҳәрақәа, ақәыларақәа, ауаҩшьрақәа, аепидемиақәа уҳәа реиԥш иҟоу арыцҳарақәа.
Девис иҳәоит акыр ахҭысқәа амчрақәа шазхьамԥшуаз, хьаас ишырымкуаз, ҿырԥштәыс иаагозар, урҭ ашықәсқәа рзы Индиантәи Европаҟа иганы иҭииз ачарыц адунеитә рекордқәа ираԥыргеит, убри аан миллионла аиндусцәа афатә-ажәтә рымамзаара иахҟьаны иԥсуан. Аиҳабыреи ачарыц зҭиуази ас еиԥш рыжәлар рызныҟәара зыхиақәиҭу ахәаахәҭразы азакәан иахьдырԥшуан, насгьы индиаа раасҭа ачарыц азы ахә бзиа ршәон европаа. Девид игәаанагарала, аиҳабыра ас еиԥш рыжәлар рызныҟәара геноцидуп ҳәа иахәаԥшызар ауеит.
Иахьатәи аамҭазы амлакра иаҿагыланы иқәԥо рахьтә зегь реиҳа активра ааирԥшуеит америкатәи академик Раџь Пател. 

Адунеи аҟны амлакреи азхарамфареи рыстатистика зыԥхьаӡо еиҿкаароуп Афатәи ажәтәи рполитиказы Жәларбжьаратәи аҭҵааратә институт (МИИПроП). Амлакразы азеиԥш згәаҭа раԥхьаӡа акәны ицәырган 2006 шықәса рзы аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәа ҩба рыбзоурала – анемец еиҿкаара «Вельтхунгерхильфеи», ирландиатәи аиҿкаара «Всемирная Забота» (Concern Woldwide) рыла.
Амлакразы азеиԥш згәаҭа ианыԥшуеит адунеи аҟны амлакра иаҿагыланы ақәԥара алҵшәа шамоу. Амлакразы азеиԥш згәаҭа еиҿкаан 2008 шықәса рзы, аҿиара иаҿу 120 тәылеи, иҿыцыз аиндустриалтә тәылақәеи рзы. 




#Article 103: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа (1064 words)


Еиду  Амилаҭқәа  Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа (миротво́рческий континге́нт ООН, фр. Les casques bleus, нем. Blauhelme) – атәылақәа рырбџьармчтә контингент — Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара алахәылацәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аԥҟаԥҵәа инақәыршәаны иазоужьу, аҭынчреи ашәарҭадареи раԥыхра, мамзаргьы раԥырҟәҟәаара,  аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә ҟазшьа змоу ашәага-загақәа  аназымхо аамҭазы, иаку мчылатәи аусқәа рыла (арратә демонстрациа, арратә блокада уҳәа реиԥш иҟоу) иаԥызхуа архәҭақәоуп.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа — ари Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иалоу атәылақәа рырбџьармчратә контингент ауп. Иара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ашәарҭадаратә хеилак аӡбамҭа ала абџьаршьҭыхралатәи аконфликт аан, ҩба ма инацны жәларбжьаратәи азин асубиектқәа рыбжьара аекономикатә, мамзаргьы аполитикатә ҟазшьа змоу асанкциақәа анаҭаххалак ирзалырхуа шәага-загоуп. Абжьаҟазаратә мчқәа амилаҭрацәала еилоу еиҿкаароуп.
Ас еиԥш архәҭақәа акыр шықәса инеиԥынкыланы Африка, Азиа, Европа, Агәҭантәи Америка, Ааигәатәи Мрагылара уҳәа рҟны абжьаҟазаратә операциақәа ирылахәын. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаҩцәа рдырра мариоуп, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аемблема алеи, ажәҩангәыԥшшәы змоу ахылԥақәеи рыла (голубые береты), урҭ дара амаҵзура аҟны ианыҟоу иныҟәыргоит. Ажәҩангәыԥшшәы змоу акаскақәа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара абжьаҟазаҩцәа рзы исимволхаз, иарбанызаалак аоперациақәа раан ирхарҵоит, ашәарҭара аныҟоу. Абжьаҟазаҩцәа дара иахьатәиу атәыла аформа ауп иныҟәырго. 

Раԥхьаӡа ари аиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа, аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡареи, ахымца аанкылареи, еиҿагылоз аганқәа аҳәынҭқаррабжьаратә еибашьрақәа рышьҭахь реидгареи уҳәа реиԥш иҟаз усқәан имҩаԥнагоз. 
Аха «аибашьра хьшәашәа» аилгара Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара   аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рҟазшьа шьаҭанкыла иаԥсахит.  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ашәарҭадаратә Хеилак аҭынчра адгыларазы еиҳа иҭбааз, иуадаҩыз амиссиақәа аԥнаҵо иалагеит, урҭ реиҳарак ззырхаз аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аконфликтқәа ирылахәыз рыбжьара, аҭынчратә еиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара аҟны ацхыраара аҟаҵара акәхеит. Уи анаҩсгьы, аҭынчра адгыларазы аоперациақәа ирыҵаркуа иалагеит арра иаҵанамкуаз аелементқәа. Ас еиԥш аоперациақәа акоординациа рзуразы, 1992 шықәса рзы иаԥҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа Рдепартамент (ДОПМ). 
Ашәарҭадаратә хеилак, аибашьра аанкыларазы аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара ахьыҟамыз азы, абжьаҟазаҩцәа убас еиԥш аконфликтқәа рзонахь инанашьҭуа иалагеит, насгьы аконфликт иалахәыз аганқәа зегьы абжьаҟазаратә мчрақәа уа рыҟазаара иахьақәшаҳаҭмыз аҭыԥқәа рахь (аҿырԥштәқәа: Сомалитәии Босниатәии абжьаҟазаратә операциа).
Арҭ абжьаҟазаратә миссиақәа ирыдыз ҳасабтәқәак рынагӡара залыршамхеит, ирымаз аресурсқәеи аперсонали рзымхарала. Арҭ аманшәаламрақәа ирыхҟьаны, зегь реиҳа ихьаа ҕәҕәаны иҟалаз массатә уаҩшьрақәахеит Сребреница (Босниа) 1995 шықәса рзы, 1994 шықәса рзы Руандатәи агеноцид. Абарҭқәа зегьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара инҭырҳәыцааны аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рконцепциа анализ рзурахьы икылнагеит. 

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҭынчра адгыларазы аоперациақәа Рдепартамент (ДОМП) аҟәшақәа арӷәӷәеит, амиссиа аруааи аполициатә абжьгаҩцәеи рыла еиқәзыршәоз. Еиҿкаан аҟәша ҿыц — абжьаҟазаратә ус азы аԥхьагыларатә гәыԥқәа, ари агәыԥ иҭнаҵаалар акәын еизоз аԥышәа, насгьы амиссиахь инанашьҭлар акәын агендертә зҵаарақәа рзы абжьгарақәа; абжьаҟазаҩцәа рхымҩаԥгашьа аиҕьтәразы аусқәа аднакылалар акәын; абџьар алгаразы, адемобилизациа, ареинтеграциа рзы апрограммақәа шьақәнаргылалар акәын; иара убасгьы азинмч ахьчара аметодқәеи, егьырҭ азҵаарақәа рыӡбареи рзы аметодқәа еиқәнаршәар акәын.

Аррамаҵзурауаа, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟны аррамаҵзура иахысуа аҭынчра адгыларазы, досу дара ртәыла аҟынтә ауалафахәы роуеит. Убриаан арҭ атәылақәа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи акомпенсациа роуеит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа аҭынчра адгыларазы аоперациақәа ирыхҭнырҵо аԥарақәа рыхәҭак ашәоит ишьақәыргылоу аформула инақәыршәаны, уи ари аиҿкаара ахаҭа ишьақәнаргылеит. Аха ус ишыҟоугьы, 2006 шықәса жьҭаарамза 31 иаҵанакуа аамҭазы аҳәынҭқаррақәа-алахәылацәа аҭынчра адгыларазы аоперациақәа рымҩаԥгаразы иҟарҵараны иҟаз алагалақәа, аха иҟарымҵаз ауал ишьақәнаргылеит Еиду Америкатәи Аштатқәа иртәу 2,66 миллиард доллар.

Аҭҵааҩцәа гәыԥҩык ргәаанагара ала, акраамҭа абжьаҟазаратә операциақәа рмаҵзурауаа ралԥшаара даара иубарҭаз адискриминациатә, аполитикатә ҟазшьа аман. Иалырхуаз реиҳарак акадртәи арезервтәи офицарцәа ракәын, мраҭашәаратәи атәылақәа рырхәҭақәа рҟынтә, урҭ ишиашоу, мамзаргьы ишакәызаалакгьы аконфликт аҭыԥқәа ахьамаз аҳәынҭқарратә интерес змаз роуп, уи алагьы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиа анагӡараҟны аҿиарамҩа иқәыз атәылақәа рҟны анеитралитети ганкы мацара адымцәылареи атәы аҳәара уадаҩуп. 

рашәарамза 25, 1999 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аӡбамҭа ала Косовоҟа инашьҭын 3.600-ҩык абжьаҟазаҩцәа. Уи аамҭазы уахь ирышьҭхьан 400-ҩык Урыстәыла аруаа Босниеи Герцеговинеи аконтингент ахыԥхьаӡара аҟынтә, урҭ амарш-ныҟәара ҟарҵеит Приштинаҟа, уахь иагьалалеит рашәарамза 12, 1999 шықәса рзы. Ари амиссиа ԥхынгәымза 24, 2003 шықәсанӡа имҩаԥысуан. Косово рыҟазаара аан иҭахеит 12-ҩык урыстәылатәи абжьаҟазаҩцәа. 
рашәарамза 7, 2000 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак аӡбамҭа аднакылеит 114-ҩык арратә ԥырҩцәа Сиерра-Леоне ашҟа рышьҭразы, урҭ уа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аилазаараҿы абжьаҟазаратә операциақәа ирылахәхаразы. Иара убасгьы, аполициатә мчқәа жәларбжьаратәи аконтингент аилазаараҟны аоперациа иалахәын Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра аусзуҩцәа фҩык. Аоперациа нанҳәамза 2000 шықәса инаркны цәыббрамза 2005 шықәсанӡа имҩаԥысуан.
ԥхынҷкәынмза 10, 2003 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Афедерациа Ахеилак ақәшаҳаҭхеит Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 40-ҩык аусзуҩцәа Либериаҟа рышьҭра, рашәарамза 30, 2004 шықәса рзы даҽа 40-ҩык Бурундиаҟа. Абжьаҟазаратә операциақәа иахьа уажәраанӡагьы ирыцҵоуп.

ԥхынҷкәынмза 27, 2005 шықәса рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра 133-ҩык аусзуҩцәа Суданҟа идәықәҵан. Хәажәкырамза 2012 шықәса рзы урҭ рҿаԥхьа иқәгылаз аҳасабтәқәа анынарыгӡа ашьҭахь, урыстәылатәи абжьаҟазаратә контингент аилазаара зегьы еиҩшаз Судан аҵакырадгьыл аҟынтә иалган. 
цәыббрамза 1, 2008 шықәса рзы усҟантәи Урыстәыла Ахада Дмитри Медведев аусԥҟа инапы аҵеиҩит «Ареспублика Чад и ЦАР аҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟазаара адгылара аҭаразы, Европатәи ахеилак аоперациа алахәхаразы, Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьармчқәа рырратә еиҿкаарақәа уахь рдәықәҵаразы».
ара зыӡбахә ҳәоу аоперациа амҩаԥгарҭа аҭыԥахь урыстәылатәи атранспорттә вертолиотқәа ԥшьба Ми-8МТ, ҩышәҩык инарзынаԥшуа аруаа рынашьҭра акәын. Убри алагьы, хәажәкыра 10, 2009 шықәса рзы Ареспублика Чад и ЦАР аҟны абжьаҟазаратә операциа иалахәын авертолиотқәа ԥшьба Ми-8МТ-и ҩышәҩык Урыстәыла аруааи. ԥхынҷкәынмза, 2010 шықәса рзы урыстәылатәи архәҭақәа, апрезидент иусԥҟа инақәыршәаны Чади ЦАР-и аҵакырадгьыл аанрыжьит.
урыстәылатәи арратә еиҿкаарақәа рнаҩсангьы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара амиссиақәа еснагь ирылахәуп афицарцәа-арратә наԥшыҩцәа, урҭ абџьар ҳәа акагьы рымам, адипломатиатә статуси ркьысра азин аҟамзаареи заҵәык ауп рхы иадырхәо. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара асоветтә арратә наԥшыҩцәа актәи ргәыԥ 36 афицар рыла ишьақәгылаз, Ааигәатәи Мрагылараҟа идәықәҵан Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анаԥшратә орган аилазаара иалаҵаны, Пакистан (ОНВУП) аамҭалатәи аинышәара анагӡара ахылаԥшразы, 1973 шықәса, жьҭаарамзазы араб-израильтәи аибашьра ашьҭахь.
 

Лаҵарамза 29 рзы иазгәарҭоит Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара абжьаҟазаратә мчқәа жәларбжьаратәи рымш. Ари арыцхә 2002 шықәса рзы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада иаднакылеит (арезолиуциа № A/RES/57/129). Ари аныҳәа абжьаҟазаҩцәа адунеи зегьы аҟны змаҵзура зхызго ирныҳәоуп. Иара иаанарԥшуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иабзоураны еиҿагылоз аганқәа реиныршәара, агәаҟрақәа рырԥсыҽра, абжьаҟазаҩцәа рхамеигӡара.
Абжьаҟазаҩцәа рхыдҵа хадақәа – еиҿагыло аганқәа реиныршәара ауп. Абри ахықәкы инақәыршәаны абас еиԥш аусқәа мҩаԥыргоит:
аконфликт иалахәу зызнеиз жәларбжьаратәи аиқәышаҳаҭрақәа иахьынӡарықәныҟәо ахылаԥшра;
аконфликт иалахәу рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аидысларақәа рыҟамлара ахылаԥшра;
адәныҟатәи амчрақәа аконфликт зыбжьоу бџьарла еиқәыдмыршәаратәы аҟаҵара хылаԥшра аҭара;
аимак зцу азҵаарақәа рҭышәныртәалара, насгьы апровокациақәа рыҟамлара хылаԥшра аҭара;
еиуеиԥшым аделегациақәа рыхьчара аҭагылазаашьа аԥҵара;
аҭынч уааԥсыра ацхыраара рыҭара. 

Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара аҟны иҟоуп абжьаҟазаратә операциақәа ҩ-хкык, урҭ абџьар ахархәаразы еиуеиԥшым азинқәа рымоуп:ДҚ
анаԥшыҩцәа рмиссиа — абџьар ныҟәыргаӡом, адипломатиатә статуси ркьымсразы аҭагылазаашьеи рымоуп.
абжьаҟазаратә мчқәа злахәу аоперациақәа — ирмариоу, иласу бџьарла еиқәыршәоуп, уи рхы иадырхәарц анрылшо ахыхьчареи аҭыԥантәи ауааԥсыра рыхьчареи мацара раан ауп.
Абжьаҟазаҩцәа аҭыԥқәа рҟны аҭынчра анышьақәдыргыло аамҭазы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟнытә еибашьуа аганқәа рзы еиныршәаҩцәоуп, мамзаргьы атәылақәа рнапхгара ирԥылоит, аҭынчра аазгаша аӡбамҭақәа рыԥшаауеит. Убриаан, абжьаҟазаҩцәа азин рымам абџьар ахархәаразы аграждантә хаҿқәа рганахь ала, мамзаргьы аконфликт зыбжьоу рахьтә ганкы адгылара. 

Абжьаҟазаратә операциақәа ҩ- хкыкны ишоуп:
аҭынчра адгылара аҭаразы аоперациақәа – урҭ мҩаԥысуеит аконфликт зыбжьоу аганқәа зегьы реиқәышаҳаҭра ала, иззырхоугьы аибашьра аанкыларазы анапы зҵаҩу аиқәышаҳаҭрақәа рынагӡара хылаԥшра аҭара ауп; 
аҭынчра адгылара азы аоперациақәа – урҭ рхықәкы аинышәара, мамзаргьы ахысра аанкыларазы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы, амҩақәа рзыԥшаара ауп.  




#Article 104: Альва Миурдаль (1167 words)


Альва Миурдаль (швед. Alva Myrdal; ажьырныҳәа 31, 1902, Уппсала — жәабран 1, 1986, Стокгольм) — швециатәи  адипломат, аполитик, асоциолог, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат (1982 ш. рзы Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еицроуит). Аекономист, иара убасгьы, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат Гуннар Миурдаль иԥшәмаԥҳәыс, ашәҟәыҩҩы Иан Миурдали, афилософ Сиселла Боки, асоциолог Каи Фиольстери ран. 

Швециатәи адипломат, аполитик, асоциолог, Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат (1982 ш. Альфонсо Гарсиа Роблеси лареи еицроуит). Аекономист, иара убасгьы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа алауреат Гуннар Миурдаль иԥшәмаԥҳәыс, ашәҟәыҩҩы Иан Миурдальи, афилософ Сиссела Боки, асоциолог Каи Фиольстери ран. 
Альва Миурдаль диит ажьырныҳәамза 31, 1902 шықәса рзы Уппсала ақалақь аҟны, Швециа. Илызҳаит аргылаҩ иҭаацәараҿы. Альва еснагь лаб инапы злакыз аусқәа зегьы дрызҿлымҳан. Лаб иакәзар, иусура анаҩсангьы, швециатәи асоциал-демократиатә партиа далахәылан. Альва Миурдаль иреиҳау аҵарадырра лоуит Стокгольмтәи ауниверситет аҟны. Анаҩс, лара аҵара лҵон Лондон, Леипциг, Стокгольм, Женева ақалақьқәа рҟны. Альва дызхысыз амаҭәарқәа рхыԥхьаӡараҿ иҟоуп асоциологиа, афилософиа, аԥсихологиа, апедагогика.
Альва Миурдаль аҭаацәара далалеит 1924 шықәса рзы. Уи длынасыԥхеит аекономист Гуннар Миурдаль, Стокгольм ақалақь аҟны аиуристтә практика знапы алакыз. Дара ирыхшеит хҩык ахшара — аԥа, анаҩс ишәҟәыҩҩхаз Иан Миурдали, аԥҳацәа —ифилософхаз Сиссела Боки, исоциологхаз Каи Фиольстери. 
Альва Миурдаль аҵарадырра ахырхарҭа аҟны аус луан, 1936 шықәса инаркны 1948 шықәсанӡа. Ари аамҭа иалагӡаны лара ашколтә рҵаҩы лҟынтә адиректорра аҟынӡа днеит. Директорс даман лара иаԥылҵаз ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Апедагогикатә институт, дагьықәгылон апедагогика аҟны апрогрессивтә методқәа ралагаларазы. Иара убри аамҭазы Альва Миурдаль аҵарадырра ареформа азуразы Акралратә комиссиа аилазаара далаҵахоит. Лара далхын ашколқәранӡатәи аҵарадырразы Адунеизегьтәи ахеилак акомиссиа аамҭалатәи ахантәаҩыс.
Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра аан ахҵәацәа рпроблемақәа аӡбараҿ дрыцхраауан, урҭ инеитралтәу Швециа акәшамыкәша ахыҵакырҭа иашьҭан. Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара аҭаразы швециатәи атәылауаҩратә еиҿкаарақәа еизаку рхеилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дыҟан.
Адемографиеи асоциалтә реформақәеи рызҵаарақәа ирыдҳәалаз акыр акьыԥхьымҭақәа рнаҩс, Альва ауаажәларратә усуразы лкариера хацлыркуеит. 1938 шықәса инаркны 1947 шықәсанӡа лара аҳәса аусдкылаҩцәеи аусуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ имаҵзура аанылкылон. 

Миурдаль, 1962 шықәса инаркны 1973 шықәсанӡа, абџьар алгаразы Женеватәи ахеилак аилазаара аҟны швециатәи аделегациа хантәаҩра азылуан. Акраамҭа ИУНЕСКО асистема аҟны аус луан, абџьар алгара апроблемақәа лыӡбон. 1967 шықәса рзы Таге Ерландер исоциал-демократиатә кабинет аминистрцәа реилазаара далаҵан, абџьар алгара азҵаарақәа рзы ҷыдала аҭакзыԥхықәу усзуҩын. 
Альва Миурдаль, 1980 шықәса рзы, Альберт Еинштеин ихьыӡ зху Адунеизегьтәи апремиа ланашьан. Ҩышықәса рнаҩс, абџьар алгаразы ллагала дуқәа рзы Альва Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа ланашьан. Лара ари аҳамҭа ду ицеиҩылшеит Альфонсо Гарсиа Роблес.
Альва Миурдаль илымаз агәыхь иахҟьаны лыԥсҭазаара аҵыхәтәантәи аҩышықәса стокгольмтәи ахәышәтәырҭа аҟны илхылгар акәхеит. Уа Альва лыԥсҭазаара далҵит жәабранмза 1, 1986 шықәса рзы. 

Ҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы швециатәи асоциал-демократцәа анырра ҕәҕәа ҟарҵо иалагеит, иагьрылшеит асоциалтә реформақәа рымҩаԥгара. Хаҵеи ԥҳәыси Миурдаль еицырҩыз ашәҟәы аиҳабыра ирыҵанаҳәеит ахәыҷқәа зегьы рзы иҭышәынтәалоу аԥсҭазаара роуразы, насгьы рҭаацәа рфинанстә ҭагылазаашьа иахьыԥшымкәа рыҟазааразы аӡбамҭа рыдкылара. Ашәҟәы зҩыз ируаӡәкыз, зыхьӡ нагаз аҵарауаҩ Альва Миурдаль лакәзар, анхарҭа ала ауаа реиқәыршәаразы Аиҳабыратә хеилак далаҵан.

Абарҭ ашықәсқәа рзы, Альва Миурдаль даара лроль дуун швециатәи аҳәса рполитикатәи рекономикатәи еиҟарара аиҿкаара аус аҟны. Аҳәса рџьа азы аҳәынҭқарратә комиссиа аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ иаҳасаб ала, Миурдаль 1935–1938 шықәсқәа рзы есымзатәи аҳәса ржурнал, асоциал-демократиатә партиа иалаз иртәыз, редакторра азылуан. Аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Стокгольмтәи реиҿкаара апрезидент-ихаҭыԥуаҩык иаҳасаб ала, 1935–1936 шықәсқәа рзы, Альва афеминизм азҵаарақәа рыӡбара лҽазылшәон, еиҳаракгьы аекономикатә хырхарҭа аҟны, аполитикатәи, мамзаргьы апсихологиатәи хырхарҭақәа рҟны акәымкәа.
Абас, маҷ-маҷ Альва Миурдаль лусура жәларбжьаратәи аҳаракыра аҟынӡа инаӡеит. 1938–1947-тәи ашықәсқәа рзы аҳәса аусдкылаҩцәеи аусзуҩцәеи Жәларбжьаратәи рфедерациа напхгара алҭон. Ауниверситет аусзуҩцәа Жәларбжьаратәи афедерациа аҳәаақәа ирҭагӡаны Миурдаль ажәахә азыҟалҵеит аҭаацәара иалоу аҳәса рџьабаа зеиԥшроу азы. 
Адунеизегьтәи аҩбатәи аибашьра аан, Швециаҟа хыԥхьаӡара рацәала ахҵәацәа аауа ианалага, Альва Миурдаль Европа акультуратә цхыраара азыҟаҵаразы ауаажәларратә еиҿкаара ахантәаҩы-ихаҭыԥуаҩыс дҟалеит. Аибашьра ашьҭахь лара есымчыбжьа иҭыҵуаз «Шведский путь» редакторра азылуан, уи акыр абызшәақәа рыла иҭрыжьуан, иара ахҵәацәа рассимилиациа арццакра иазынархан.

Асоциал-демократиатә партиа алахәылас лыҟазаара Миурдаль, усҟантәи аамҭазы лусқәа ирныԥшуамызт, акомитет аҟны аус шылуазгьы, аибашьра ашьҭахьтәи апартиа аполитика ашьақәгылара лнапы шалакызгьы, уи анаҩсгьы, 1945 шықәса рзы, Париж аџьа аиҿкааразы Жәларбжьаратәи аконференциа аҟны апартиа ахьӡала далахәын. Ус шакәызгьы, Альва Миурдаль Индиа швециатәи ацҳаражәҳәаҩыс дҟаҵан, Швециа аусутә гәыԥқәа рыбжьара, уи даара ацәажәарақәа шахылҿиаазгьы. Ас еиԥш ацәажәарақәа зыхҟьаз, Миурдаль лсоциалисттә дунеихәаԥшрақәа акыр гәҽанызаарыла иахьазыҟаз ауп. Лара илылаз аиҿкааратә ԥышәеи алшарақәеи ирыбзоураны индиааи урҭ рԥыза-аминистр Џьавахарлал Неруи рганахь ала даара ҳаҭыр зқәыз лакәны дыҟан.  

Миурдаль Альва Женева имҩаԥысуаз, иаламлази анеитралла зкызи атәылақәа, «аибашьра хьшәашәа» алагара иаҿагылоз ргәыԥ напхгара аҭо, абџьар алгара иадҳәалаз аиҿцәажәарақәа рҟны даараӡа лроль ҕәҕәан. Лара ари аҭагылазаашьазы лдунеихәаԥшышьеи, адунеи аҟны аибашьра апроблемеи лышәҟәы «Игра в разоружение: Как Соединенные Штаты и Россия раздувают гонку вооружений» аҟны иаалырԥшит. 

Зегьы ирдыруеит евгеника ҳәа ззырҳәо, араса ацқьара иадҳәалоу афашистцәа ргыгшәыграқәа ртәы. Аха, имаҷҩызар ҟалап издыруа анемец генетикцәа ари азҵаара аҭҵааразы Швециа шакәу аԥышәа аизырҳаразы аҵарадырра ахьроуаз. Евгеника - ари ауаҩы иганахь ала ахархәара зыҭаз селекциоуп, уи ала ауаажәларра рышьҭра арбзиара амҩақәа рыԥшаауан.
Швециа, ақалақь Уппсала аҟны, 1921 шықәса рзы амчрақәа рыдгылара иабзоураны иаԥҵан арасатә биологиа Аҳәынҭқарратә институт. Уи аусзуҩцәа ариитәи ажәларқәа егьырҭ, иаҳҳәозар, свеи, лаппы, финны реиԥш иҟоу раасҭа ишыҳаракыз шьақәдырҕәҕәон, урҭ аимшьҭрақәа ари атәыла аҵакырадгьыл аҟны аханатәгьы инхоз ракәын. Дара ирыԥхьаӡон араса ацқьара аилагара уи аԥсадахарахь, аччиахарахь ишкылнагоз. 

Убас ишыҟаз ауп «иаԥсамыз» атәылауаа астерилизациа рзура ишазааиз. Ашведцәа ари апроцедура хатәгәаԥхарала имҩаԥысша акоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, аха уи азын хатәгәаԥхарала агәазыҳәара зауз ҳәа уаҩ дҟамлеит. Убасҟан ауп асоциал-демократиатә партиа алахәыла Альва Миурдаль аидеологиатә платформа анаԥылҵа, азакәан аԥсахразы. 
Астерилизациеи арыцқьареи «иаԥсамыз» ирзырхаз даара рҽазҵәылхны иашьҭалеит. Ичмазаҩцәаз, ариитәи араса иаҵанамкуаз, акрызмамыз, ирыцҳаз, зхала иҟаз анацәа, ахшарарацәа змаз, ацыганцәа, ауриацәа, зхымҩаԥгашьа ҽеимыз ауаа, иара убасгьы ахацәа згәазыҳәарақәа реиқәыкра уадаҩыз зегьы астерилизациеи арыцқьареи иахрыжьуан. 1935 шықәса инаркны 1976 шықәсанӡа ибжьанакыз аамҭахәҭазы мчыла астерилизациа зызуз ауаа рхыԥхьаӡара наӡеит 63-нызқьҩык рҟынӡа. Ари аус аанкыларазы, еиҳаракгьы Ниурнбергтәи апроцесс ашьҭахь, ашведцәа арҵаҩцәа нацистцәаны, ицәгьоуцәаны ианазхарҵа нахысгьы, ари аус аанкыларазы иҟаҵаз егьыҟамызт, ирыԥсахыз азакәан акәмызт, ара ирыԥсахит аинститут ахьӡ заҵәык. Абас ала, астерилизациа амҩаԥгара Швециа азеиԥш ҿиара апрограмма иахәҭакхеит, ари аус аҟны аҳәынҭқарра ишиашоу атәылауаа рҭаацәаратә ԥсҭазаара ахы аланагало иалагеит. Ас еиԥш швециатәи адемографиатә модель идеологцәас иҟалеит хаҵеи ԥҳәыси Альвеи Гуннари Миурдальаа, дара ауаажәларразы ихәарҭамхоз алахәылацәа астерилизациа рзура иадгылон.
Гуннар Миурдаль иоуп издырҳәало атезис, астерилизациа – ари ихадароу, зда ԥсыхәа ыҟам елементуп («великого социального процесса приспособления»), ауаҩы ҳаамҭазтәи ақалақьтәи аиндустриалтәи еилазаара дахәҭакны дҟаларц азы ҳәа. Альва Миурдаль лакәзар, агра змаз, аилазаара ирмыхәоз ауаа рыҿиара аанкылара аҭахуп ҳәа дықәгылон, абри аԥҳәыс лоуп 1982 шықәса рзы Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа занашьазгьы. Швециаа рзы ари иҭазырхоз ашьцыларазы аҵыхәтәантәи ԥсгагахеит, 2012 шықәса рзы ауаҩы ихаҵара- ԥҳәысра аниԥсахуа астерилизациа аҟаҵара хымԥадатәины аҟаҵара ахьаԥырхыз. Уи азакәан аконституциа еиланагоит ҳәа иԥхьаӡан зхаҭара шьақәыргылам ауаҩы ишшыԥхьыӡ ала. 

Аибашьра – ари уаҩшьроуп. Аруаа уи азын имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа, аколлективтә уаҩшьра ауп иизырхоу. Аиадертә шәышықәсазы иҭахо рхыԥхьаӡара миллионла иҟалоит».
Лықәгылара хыркәшо, Миурдаль Альва илзыӡырҩуаз иргәалалыршәеит, аҵыхәтәантәи шәышықәса ирылагӡаны аҭынчратә конгрессқәа шымҩаԥырымгац – ус еиԥш мҩаԥымсыц Альфред Нобель ипремиа адунеи аҟны иаԥырҵеижьҭеи ҳәа. Лара ас еиԥш аконференциа аԥхьаҟа имҩаԥгазарц ааԥхьара ҟалҵеит. 
Ареформақәа рыдгылаҩ европатәи адемократиатә социализм атрадициақәа рыла, Миурдаль лымҩа хацыркын амилаҭбжьаратә ҭынчратә еиҿкаара ала. Швециа Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара ианалала анаҩс, лара гәыҵхас илымаз аиҟарареи асоциалтә иашареи аҳаракыра ҿыц ахь ихалеит.
Аха, уи еиҳаз агәҭынчымра лара илызцәырызгоз абџьарлеибыҭаразы аҭыԥ змаз ахыццакра акәын. Ҳәарада, Миурдаль даараӡа дазгәдуун Швециа 1968 шықәса рзы аиадертә бџьар мап ахьацәнакыз, аха лара лгәынамӡара еснагь иаалырԥшуан, шықәсырацәала аиҿцәажәарақәа шымҩаԥысуазгьы, абџьарлеибыҭаразы аццакра аҭыԥ ахьамаз азы. 

Альва Миурдаль лыԥшәма Гуннар Миурдаль Адунеизегьтәи Нобельтәи апремиа далауреатын аекономика ахырхарҭа ала, уи лыԥҳацәа ҩыџьа рахьтә руаӡәык – Сиселла Миурдаль-Бок – дфилософын, Каи Фиольстер – дсоциологын. Лԥа Иан Миурдаль – дышәҟәыҩҩын, джурналистын. 




#Article 105: Џьавахарлал Неру (1011 words)


Џьавахарлал Неру (диит абҵарамза 14, 1889 шықәса рзы) – адунеи ахи аҵыхәеи рҟны еицырдыруаз политикатә усзуҩын, Индиа аԥыза-министр, М. Ганди ицнагаҩ, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, индиатәи амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара аԥхьагыла. Иара иԥҳа Индира Гандии имаҭа Раџьив Гандии Индиа ахԥатәии афбатәии аԥыза-министрцәас иҟан. 

Џьавахарлал Неру диит абҵарамза 14, 1889 шықәса рзы Аллахабад, акаста варна иаҵанакуаз кашемиртәи абрахманцәа рҭаацәараҿы. Иара иан – Сваруп Рани (1863–1954), иаб – Мотилал Неру (1861–1931) – атәылаҟны зегьы иреиҳаз апартиа Индиатәи амилаҭтә конгресс анапхгаҩцәа дыруаӡәкын, раԥхьа – 1919–1920-тәи ашықәсқәа рзы, анаҩс – 1928–1929-тәи ашықәсқәа рзы.
Аб иԥа Џьавахарлал (уи ихьӡ хинди аҟынтә еиҭагазар иаанагоит «драгоценный рубин») Харроу (Лондон ду) иҟаз даара заҳаҭыр ҳаракыз англиатәи ашкол ахь аҵара ҵара дишьҭуеит. Иара Британиа Ду иҟазаара аан убасгьы деицырдыруан Џьо Неру (Joe Nehru) ҳәа.

Аамҭаказы Неру дҟалеит ИНК активистцәа дыруаӡәкны, урҭ Индиа ахьыԥшымра иазықәԥоз ракәын амч рхы иамырхәакәа. Иара иԥсадгьыл гәакьа дахәаԥшуан, Европа аҵарадырра зауз, уаатәи акультура злаҽны иҟаз уаҩны.
Махатма Ганди иабадырра, насгьы уи ауаа ирызнеигоз аҵара иалнаршеит Неру дызлыҵыз ижәлар рзааигәахара, урҭ рытрадициақәеи европатәи аидеиақәеи рзеиԥшыркра. Неру, ИНК егьырҭ аԥызацәа реиԥш, Махатма Ганди идоктрина азхеиҵон. Британиа ду аколониалтә мчрақәа изныкымкәа Неру дыкны дҭаркхьан, иааизакны иара абахҭаҟны ихигеит жәашықәса. Аха, ус шакәызгьы, Неру, Ганди иабжьгарала, аколониалтә мчрақәа аус рыцмура акомпаниа активла ихы алаирхәт, уи далахәын, убасгьы, британинтәи атауарқәа абаикот рзыҟаҵара акомпаниагьы. 

Сара избаӡом даҽа мҩак, аусура аҟамзаара, адеградациа, индиа жәлар рхьыԥшра аԥызхуа асоциализм ада даҽакы. Уи азын зда ԥсыхәа амам акәны иҟоуп инарҭбаау ареволиуциатә еиҭакрақәа, ҳара ҳполитикатәи ҳуаажәларратәи ргылараҿы, насгьы ақыҭанхамҩеи ааглыхреи рҟны амалуаа рықәгара… Уи иаанаго, ахатәы мазара амазаара аԥыхны, амал аагара иазырхоу акооперативтә аарыхра асистема ала аԥсахра ауп…» 

Нанҳәамза 24, 1946 шықәса рзы Џьавахарлал Неру Индиа Аамҭалатәи аиҳабыра – Индиатәи акрал ихаҭыԥуаҩ иҟны Анагӡаратә хеилак аԥыза – министрс дҟалеит, 1947 шықәса рзы – ихьыԥшым Индиа актәи аԥыза – министрси, Адәныҟатәии Атәылахьчареи рминистррақәа аминистрси дҟалеит.

Аиндусцәа реиҳараҩык ИНК агәра ргон. 1947 шықәсазтәи алхрақәа раан Неру ицнагаҩцәа апарламент аҟны 86% аҭыԥқәа раанкылара рылшеит. Неру ибзоурала индиатәи аҳратәрақәа зегьы Индиатәи Ахеилак адҵара илшеит – 555 рахьтә 601. 1954 шықәса рзы Индиа иадҵан франциатәи, анаҩс, 1962 шықәса рзы, португалиатәи агаҿатә анклавқәа. 1950 шықәса, ажьырныҳәамзазы, Неру иажәалагалала Индиа илыԥшааху демократиатә республиканы ирылаҳәан. Индиа Аконституциа акәзар, уи иаҵанакуан ихадароу адемократиатә хақәиҭра апринципқәа, адинхаҵара, амилаҭ, акаста ала адискриминациа аҟамҵара. Анапхгараҭара асистема акәзар, апрезидент-парламенттәын, аха амчра аиҳарак аԥыза-министр инапаҟны иҟан, иара апарламент далнахуан. Апарламент акәзар, ҩ-палатакны ишьақәгылан – ажәлар рпалатеи аштатқәа рхеилаки. 28 штат ироуит аҩныҵҟатәи автономиа, дара азин рыман рхатәы закәанԥҵареи аполициеи амазааразы, аекономикатә усура аҭышәныртәаларазы. Аамҭа цацыԥхьаӡа аштатқәа рхыԥхьаӡара иацлеит, избанзар амилаҭттә еилазаара азгәаҭаны аштат ҿыцқәа аԥҵан. 1956 шықәса абҵарамзазы иаԥҵан 14 штати аиҩызаратә ҵакырадгьылқәа фбеи. Дара зегьы ажәытәтәи аштатқәа излареиԥшымыз – еиҳа аетникатә еизыҟазаашьақәа рганахь ала еижәлантәыз ракәын. Иалагалан зегьы ирзеиԥшыз ишиашоу, еиҟароу, маӡалатәи абжьаҭара атәылауаа рзы, 21 шықәса зхыҵуаз уи азы азин иман, убасгьы иаԥҵан амажоритартә система ахаҭарнакра. 
Аҩныҵҟатәи аполитика. Аекономикеи асоциалтә хырхарҭеи рҟны ареформақәа
Неру аҩныҵҟатәи аполитика аҟны хықәкыс имаз Индиа ажәларқәа зегьы реинышәара акәын. Аекономика аҟны акәзар – апланркра апринципи аџьармыкьатә економикеи дрықәныҟәон. Иара шьаҭанкылатәи аиҭакрақәа, аӡбамҭақәа рыдкылара дашьҭамызт, уи алагьы илшон арыҕьаратәигьы, арымаратәигьы, агәҭатәии афракциа Аконгресс акзаара ахьчара, урҭ рыбжьара абаланс еиқәырхан. Неру ажәлар ргәырҽаниҵон:
Ишәхашәмыршҭлан, аҕарра иаразнак абеиарахь ишузиамго нашанак, мамзаргьы асоциализми акапитализми аметодқәа рхархәара ала. Мҩас иҟоу акоуп – аус улатәуп, аџьа алҵшәақәа еиҕьтәтәуп, насгьы афатәаалыҵқәа ииашаны аихшара еиҿкаатәуп. Ари имариам, аамҭа зҭаху, иуадаҩу процессуп. Аҿиара змам атәылазы акапиталисттә метод ас еиԥш алшарақәа унаҭом. Планла иарбоу асоциалисттә знеишьа ацхыраара ала ауп излалыршахо ԥкра змам апрогресс, уигьы, жәаҳәарада, аамҭа аҭахуп.
Иара убасгьы, инаҵшьны иазгәеиҭон акласстәи асоциалтәи ҳәоуеиқәымшәарақәа рыршшара дшашьҭоу.
Неру ирылеиҳәеит «асоциалисттә ҿырԥшы» ала Индиа ауаажәларра раԥҵара хықәкыс ишимоу, уи иаанагоз аҳәынҭқарратә аекономикатә сектор арҿиара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭареи, анаплак маҷқәа ацхыраара рыҭареи, асоциалтә ԥгаԥсатә система аԥҵареи ракәын.
Раԥхьатәи иакыз алхрақәа раан, уи мҩаԥган 1951–1952-тәи ашықәсқәа рзы, Аконгресс 44,5% бжьы аиуит, иара убасгьы 74% аҭыԥқәа жәлар рпалата аҟны. Убри аан Неру аҳәынқарратә аекономикатә сектор арҕәҕәара дадгылаҩын. Ааглыхратә политика азы арезолиуциа аҟны Неру иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра абџьар, атомтә енергиа, аихамҩатәи амҩатәи транспорт ахырхарҭала аҳәынҭқарра амонополиа шышьақәыргылахо. Иара убасгьы, акыр аусхкқәа, аҳаирпланргылара, амашьынаргылара, анефти арацәеи рааглыхрақәа, аметаллургиа еиқәаҵәа уҳәа рганахь ала аҳәынҭқарра заҵәык акәын азин змаз анаплак ҿыцқәа рыргыларазы.
Ихадаз 17 обиект ааглыхра иадҳәалаз ҳәынҭқарратәқәаны ирылаҳәан. 1948 шықәса рзы Индиа Арезервтә банк милаҭтә банкны иҟаҵан, 1949 шықәса рзы ахатә банкқәа русурагьы аҳәынҭқарра хылаԥшра анаҭо иҟаҵан. 1950-тәи ашықәсқәа рзы Неру аграртә сектор аҟны афеодалтә, аџьатә уалдҵа аԥихит.
Амалуаҩ азин имамызт қьырала адгьыл иқәаарыхуаз рықәцара, ақьырагьы ахәқәа ԥсахын. 1957 шықәса рзы имҩаԥгаз аҩбатәи алхрақәа раангьы Неру даҽазныкгьы аиааира игеит. Анаҩстәи алхрақәа раан, 1962 шықәса рзы Неру 3% процентк абжьқәа шицәыӡызгьы, амажоритартә система иабзоураны аԥыжәара игеит. 

Неру адунеи аҟны даара пату иқәын, иара аполитикатә блокқәа реидымҵара аполитика авторцәа дыруаӡәкхеит. Зегь раԥхьа Неру иеиҳабра азхазҵаз Китаитәи Жәлар Рреспублика ауп, аха уи иалнамыршеит аҳәаатә конфликтқәа рҭышәныртәалара. 
Адәныҟатәи аполитика аҟны Неру 1950-тәи, 1960-тәи ашықәсқәа ралагамҭаз хырхарҭас имаз Индосҭантәи адгьылбжьахабжа аҟны европатәи аҳәынҭқаррақәа иаԥҵаны ирымаз аколониалтә анклавқәа рықәгара акәын. 1949 шықәса рзы, ҭагалан, Неру Еиду Америкатәи Аштатқәа дырҭаауеит. Ари аныҟәара иабзоураны аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа шьақәыргылан, Индиаҟа Америкатәи акапитал аауа иалагеит, акыр аекономикатәи атехникатәи цхыраара иадҳәалаз ахырхарҭа змаз аиқәышаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩын. Аха Неру арратә цхыраара мап ацәикит, 1962 шықәса рзы индиа-китаитәи бџьаршьҭыхралатәи аконфликт аан. 
Неру аекономикатә цхыраара идикылон СССР аҟынтәгьы, аха Асовет Еидгыла азы адгылаҩыс дҟамлеит, иара еиуеиԥшым ауаажәларратә шьақәгылара змоу аҳәынҭқаррақәа ҭынч реицынхара азы дықәгылон. 1955 шықәса рзы Неру Москва даҭааит. Асовет Еидгыла аҟны иҟазаара иалагӡаны Неру еиуеиԥшым ақалақьқәа дырҭааны ибеит. Неру иԥҳа Индира Гандии иареи зықьҩыла ауаа рԥылон, иара ас еиԥш адкылара даара изыџьашьатәын. Екатеринбург ақалақь аҟны – усҟан Свердловск, Индиа аԥыза - министр азауад «Уралмаш» ахьгьы днеит, анаҩс Индиеи ари азауади аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Уиижьҭеи азауад 300 инарзынаԥшуа ексковатор Индиаҟа идәықәнаҵахьеит. Абасалагьы асоветтәии индиатәии аизыҟазаашьақәа шьақәгылеит. 

Ишазгәаҭоу ала, Китаии Индиеи реибашьра инаҭаз агәыхь Неру даара игәабзиара ҵнашәааит. Неру иԥсҭазаара далҵит лаҵарамза 27, 1964 шықәса рзы Дели, изцәырҵыз агәыхь иахҟьаны. Иара иуасиаҭ шәҟәы инақәыршәаны, иԥсыбаҩ былны иԥшьоу аӡиас Иамуна аҟны иԥсаҟьан. 

Москва, Москватәи аҳәынҭқарратә университет азааигәара Неру игәалашәара иазку абаҟа гылоуп. Ломоносов ихьӡ зху апроспект аҟни, Вернадски ихьӡ зху апроспекти реихысырҭа амҩа Џьавахарлал Неру ихьӡ ахуп.
Иаԥҵоуп Џьавахарлал Неру ихьӡала апремиа.
Иҟоуп, иара убасгьы, Џьавахарлал Неру ихьӡ зху алитературатә премиа.
Дели ақалақь аҿы иргылоуп Џьавахарлал Неру ихьӡ зху ашьапылампыласырҭатә дәы. Џьавахарлал Неру ихьӡ зху ауниверситет.
Екатеринбург – Џьавахарлал Неру ихьӡ зху абаҳча. 




#Article 106: Ауааԥсыра рыҿиара аиндекс (1086 words)


Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс – уи атәылақәа реиҿырҧшразы иҭырҵаауа аинтегралтә рбагоуп. Уи ауааҧсыра рыҧсҭазаареи рҵарадырреи рыҩаӡара, ауааҧсыра шаҟа ақәра нырҵуа, иара убас ауаа рыҧсҭазаара егьырҭ аганқәа зеиҧшроу шьақәнаргылоит аҭҵааразы. 

Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс – уи атәылақәа реиҿырҧшразы иҭырҵаауа аинтегралтә рбагоуп, иара ашьақәыргыларазы иахәаҧшуеит ауааҧсыра рыҧсҭазаареи рҵарадырреи рыҩаӡара, ауааҧсыра шаҟа ақәра нырҵуа, иара убас ауаа рыҧсҭазаара егьырҭ аганқәа зеиҧшроу аилкааразы арбагақәа. Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс атәылақәеи арегионқәеи реиҿырҧшразы зегьы еицырзеиҧшу мыругоуп. Атермин ахаҭа англыз бызшәала Human Development Index (HDI) абас ирыҩуеит. Иҟоуп еиҭагоу аматериалқәа рҿы уи агуманитартә ҿиара аиндекс ҳәа иахьашьҭоугьы. 

Ауааҧсыра рыҿиара ауаҩы изинқәа рыхьчара иадҳәалоуп, уи атәылаҿы иқәынхо ауааҧсыра зегьы рзы апотенциал ашьақәыргылараҿы ицхыраагӡоуп. 1990 шықәса раахыс Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҭнажьхьеит 800 инарзынаҧшуа ауааҧсыра рыҿиара иазкыз ажәахәқәа. 2018 шықәсазы ауааҧсыра рыҿиаразы ажәахә аҿы иарбоуп 189 тәыла, аҟаҵарбақәа рышьақәыргыларазы рхы иадырхәоит 2017 шықәсазтәи адыррақәа. Уахь иаҵанакыз атәылақәа рҟынтә 59 иреиҳаӡоу аҿиара аиндекс рымоуп, 53 – иҳараку аиндекс, 39 – абжьаратә индекс, 38 – тәыла илаҟәу аҿиара аиндекс рымоуп. 

Хаҭала уаҩык иҿиара зеиҧшроу аилкаара уадаҩуп, уи ианыҧшуеит атәылаҿы иҟоу аекономикатә ҭагылазаашьа адагьы, иара ипотенцаил атәылаҿы рхы ишадырхәогьы. Аиндекс шьақәыргылан 1990 шықәсазы гәыҧҩык аекономистцәа рыбзоурала, дара ргәыҧ напхгара аиҭон пакистантәи аекономист Махбуб уль-Хак. Иара 1985–1988 шықәсқәа раан Пакистан афинансқәа рминистрс дыҟан. 1996 шықәсазы иара ақалақь Исламабад еиҿикааит ауааҧсыра рыҿиара аиндекс Ацентр. Уаҟа Аладатәи Азиа арегион аҿы иқәынхо ауааҧсыра рыҿиара апотенциал зеиҧшроу аилкааразы анаукатә ҭҵаара мҩаҧыргоит. Махбуб уль-Хак иҧсҭазаара далҵит 1998 шықәсазы, иара иаҳаҭыр азы Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иаҧшьнагеит аҵарауаҩ ихьӡ ала апремиа. Уи ранаршьоит адунеии арегионқәеи рҿы аҵарауа ауааҧсыра рыҿиаразы злагала дуу. Исламабад акәзар, еиҿкаауп ацентргьы, Махбуб уль-Хак ихьӡ зху. Аҵарауаҩ иихәыцыз аконцепциа, амилаҭтә ҿиара азҵаараҿы ановатортә ҟазшьа аман. Махбуб уль-Хак дицхрааит иара иҩыза – индиатәи аҵарауаҩ, Нобель ипремиа алауреат Амартиа Сен. Дара ауааҧсыра рыҿиара аиндекс анырыҧхьаӡоз иаларгалеит Платони Аристотели злацәажәоз «анасыҧ аформат».  Ауаҩытәыҩса аҿиара аконцепциа агуманисттә ҟазшьа аҭаны раҧхьаӡа далацәажәеит Иммануил Кант. Иара дызусҭазаалак ауаҩы ихаҭара ауп зегь реиҳа ихадоу, зыхә ҳаракны ишьатәу ҳәа иԥхьаӡон. Кант иусумҭа «Критика чистого разума» ҳәа хьӡыс измоу аҿы ус иҩуан: «Хықәкыс иҟоу ауаҩы иоуп, дарбанзаалак, Анцәагьы уахь дналаҵан, имам азин ауаҩы хархәагак еиҧш изныҟәара». 
Ауааҧсыра рыҿиаразы еиуеиҧшым ажәахәқәа рҿы ишазгәарҭо ала, ауаатәыҩса рпотенциал аекономикатә ҿиара мацара акәӡам ианыҧшуа. Уи анырра анаҭоит атәылаҿы аалыҵ иҭрыжьуа аҩаӡара зеиҧшроугьы. Аекономика, ауааҧсыра рыҿиара иацхраарц азы, атәылаҿ иҟоу амали аекономикатә лшарақәеи зегьы еицырзеиҧшзар ауп, еиҟараны зегьы ахархәаразы азин рымазар ауп.  Иҟазар ауп аусурҭатә ҭыҧқәа, амамзаареи аӷарреи маҷзар ауп, еиҟаразар ауп ахацәеи аҳәсеи рзинқәа, аҵареи амедицинатә цхыраареи зегьы еиҟараны ироуроуп, асоциалтә еиҟарамра аҧыхтәуп. Ус аҳәынҭқарра еиҳа ауаҩы изааигәахоит ҳәа рыҧхьаӡоит. Аекономикатә ҿиара ари аҭагылазаашьаҿы ауаҩы идыррақәа рхархәаразы алшара инаҭар ауп. Ауаҩы ипотенциал ахархәараҿы апроблемақәа анцәырҵуа аҿиара ҟалаӡом, убри аан еиҳа ихадахоит ауаажәларра, аекономика, аҳәынҭқарра. 
 

Раҧхьатәи аконцепциа: ауааҧсыра рыҿиара аконцепциа – 25 шықәса раҧхьа ицәырган. Питирим Сорокин абас иҩуан: «Ауаажәларра зеиҧшразаалак, иара алахьынҵа знапы иану уи иалоу ауаа роуп. Ауаажәларра ахшыҩ змам, игаӡоу ауаа рыла ишьақәгылазар, аҿиарагьы залшом. Зыхшыҩ бзиоу, аҟыбаҩ злоу ауаа рацәа ахьыҟоу атәылақәа рҿы ауаажәларрагьы еиҳа хымҧада еиҿкаауп, аицынхаразгьы еиҳа иманшәалоу аформа шьақәгылоуп. Ажәларқәа рҭоурых, дара рыҿиареи рыиаӡӡаареи, ахшыҩ азышьҭны уанахәаҧшуа иубоит, уи зегьы зыхҟьо ауааҧсыра рхаҭашьа аҽаҧсахуеит аҟнытә ауп». 
Ауаажәларра ирымоу аресурс хада – ауаа роуп, шаҟа рҵарадырреи, рдоуҳатә культуреи ҳараку еиҧш, иҳаракхоит аресурсгьы. Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс арбагақәа 1990 шықәса раахыс Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара имҩаҧнаго аҿиара апрограмма аҩныҵҟа есышықәсатәи аҳасабрбақәа рҿы ианырҵоит. 
Ауааҧсыра рыҿиара андекс анырыҧхьаӡо рхы иадырхәоит арбагақәа х-хкык: 

Иааидкыланы ауааҧсыра рыҿиара аиндекс аилкааразы рхы иадырхәоит ишьақәыргылоу, анаукатә знеишьақәа рыла ишьақәырӷәӷәоу арбагақәа рсистема. Уи асоциалтә ҿиара ахыҧхьаӡаратәии ахаҭашьатәии аҟазшьарбақәа аанарҧшуеит. Уахь иаҵанакуеит: ауаҩытәыҩсатә патенциал аҿиара аиндекс, агәабзиаразы еиуеиҧшым арегионқәа рҿы аҭагылазаашьа зеиҧшроу, аҵарадырра аҩаӡара, аекономикатә ҿиара, иара убасгьы иаҵанакуеит ауааҧсыра шаҟа ахашәала рымоу, аҧсҭбара акоеффициент, апрофессионалтә ҵарадырра аҩаӡареи уҳәа егьырҭгьы. 2010 шықәсазы, Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс аилкааразы рхы иадырхәоз акоеффициентқәа рхыҧхьаӡара иацырҵеит, аиндекс ахаҭагьы аиҭакрақәа алагалан. Уи алагьы аҭҵаараҿы ирыхәаҧшуа иалагеит иҿыцу аиндикаторқәа хҧа: ауааҧсыра рыҿиара аиндекс рыҧхьаӡон атәылақәа рекономикатә ҭагылазаашьеи агендертә аиҟарамрақәеи ирыдҳәаланы, аӷарра аиндексгьы рхы иархәаны.  
 Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс аҩаӡара зеиҧшроу еиҧш атәылақәа ршоит: зыҩаӡара даара иҳараку (уахь иаҵанакуеит 42 тәыла), зыҩаӡара ҳараку (43 тәыла), абжьаратә ҭагылазаашьа змоу атәылақәа (42 тәыла), зыҿиара аҩаӡара лаҟәу (42 тәыла). 

Аиндекс аилкааразы рхы иадырхәоит арбагақәа 3: ақәра анҵыра, аҵарадырра аҩаӡара, иара убас атәылаҿы аматериалтә ҩаӡара зеиҧшроу. Аиндекс иаанарҧшуеит тәылацыҧхьаӡа ари ауаҩ изы ихадоу аспектқәа реиқәыршәара шалыршахо. Раҧхьаӡа игәарҭоит аспектцыҧхьаӡа процентла шаҟа иҟоу, убри аан атәылақәа зегьы еицырзеиҧшу асхема рхы иадырхәоит. Ус, ақәранҵыраҿы ирыдыркылеит 85 шықәса – иҳараку рбагоуп ҳәа; аҵарадырраҿы – 100% ауаа 3 ҩаӡарак аҵара рымазар ауп, уаҩыцыҧхьаӡа изы 40000 доллар рҟынӡа атәылаҿы иҭрыжьуа атауарқәа рыхә абжьаратә рбага артәозар ауп. Уи анаҩс атәылаҿы ааизакны х-индекск рыбжьаратә арбага рыҧшаауеит. 
Ақәранҵыра аиндекс: уи ишьақәырӷәӷәоу рбагоуп (ЕАР аҿиара апрограмма ишьақәнарӷәӷәеит): 

Аҵарадырра аиндекс (15 шықәса иреиҳау рзы): 

Атәылаҿы иҭрыжьуа атауарқәа рыхә абжьаратә рбага: 

Иреиҳаӡоу ауааҧсыра рыҿиара рбага – 1, аминималтә – 0. Иреиҳаӡоу арбагақәа змоу атәылақәа рҿы ақәранҵыра 85 ш. рҟына инаӡозар ауп, атәылаҿы иҭрыжьуа атауарқәа рыхә абжьаратә рбага 40000 дол. ыҟазар ауп, уи анаҩс, 100% ауааҧсыра аҩышьа-аҧхьашьа рдыруазароуп, абжьаратәии иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рҿы аҵара рҵозар ауп урҭ реиҳараҩык. Зегь реиҳа иреиҳаӡоу арбага иазааигәоу тәылоуп Норвегиа, уаҟа ауаа рыҿиара аиндекс 0,944 рҟынӡа инаӡоит. Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс 0 ахьыҟоу атәылақәа рҿы ақәранҵыра 25 шықәса рҟынӡоуп иахьыҟоу, егьырҭ арбагақәагьы лаҟәуп, 100-ҩык ауааҧсыра аҩышьа-аҧхьашьа рыздырӡом. Уи аҩыза аиҵахара ыҟоуп иахьазы Сиерра-Леоне, уаҟа ауааҧсыра рыҿиара аиндекс 0,275 аҿынӡоуп иахьынаӡо. Аиндекс 0,5 иреиҵоу арбага ахьыҟоу – илаҟәу ҿиароуп ҳәа иҧхьаӡоуп, 0,8 иреиҳау - иҳараку рбагоуп ҳәа азгәаҭоуп. 
Атәылақәа ауааҧсыра рыҿиара аиндекс иҳараку арбага анаадырҧшуа, ауааҧсырагьы рыҧсҭазаара ахаҭабзиарагьы ҳаракхоит. 1990 шықәса раахыс апрогресс еиҧшӡамызт. Тәылақәак рҿы аконфликтқәеи ачымазарақәеи ирыхҟьаны апрогресс аанкылан. Ус Мрагыларатәи Европеи Азиеи СССР аилыбгара иахҟьаны, 1990 шықәсазы ауааҧсыра рыҿиара аиндекс каҳауеит. Африка акәзар, уаҟа аконфликтқәеи ачымазарақәеи ирыхҟьаны ақәранҵыра акырӡа илаҟәит, уи ауааҧсыра рыҿиара аиндекс ианыҧшит.  Иҟан тәылақәак рҿы апрогресс шьҭахьҟа акырӡа ианцозгьы, аамҭа кьаҿк иалагӡаны, ажәашықәсақәа рыла атәылаҿы иҟаҵаз анхдырбгоз.  Аамҭа цацыҧхьаӡа атәылақәа рҿы иҟоу ауааҧсыра рыҿиара аиндекс арбагақәа еиҳа еизааигәахозаргьы, урҭ реиҟарамра убаратәы иҟоуп. Уи афакт апрогресс иаҿагылоу акоуп. Абаланс аҟамзаара, ауаа ирымоу амал ахьеиҟарам, аҵарадырра аҩаӡара аиҧшымзаара, агәабзиара аҭагылазаашьа, атехнологиақәа рхархәара ауааԥсыра иахьрымам уи аиндекс ианыҧшуеит. Уи аиҟарамра иахылҿиаауеит ишәарҭоу асоциалтә цәырҵрақәа, иҟалоит уи аекстремизмгьы цәырнагар. 

Уажәтәи аамҭазы излацәажәо – аҳәынҭқарра аҩныҵҟа афинанстә еиҟарамра ауп, ус иҟоуп егьырҭ ауааҧсыра раасҭа процентк амал рацәа змоу ауаа. Хаҭала уи аҭагылазаашьа уалацәажәозар, аиҿкаара «Оксфам интернешнел» иҟанаҵаз ажәахә аҿы иаадырҧшит адыррақәа: ус, иҟоуп 8-ҩык ауааҧсыра, змал 3,6 миллиардҩык иӷару ауаа ирымоу амал иаҟароуп.  Ауааҧсыра рыҿиара аиндекс ахьеиҟарам атәылақәа рҿы иҟоуп агәабзиарахьчараҿгьы аиҟарамра. Зиндекс ҳараку аҳәынҭқаррақәа рҿы ақәранҵыра 79,5 рҟынӡа инаӡоит, убри аан, зиндекс лаҟәу рҿы уи 60,8 роуп иахьыҟоу. Гонконг ақәранҵыразы зегь реиҳа иҳараку арбагақәа ыҟоуп, уи 84,1 аҟынӡа инаӡоит, уи 1,6-нтә еиҳауп Сиерра-Леоне иҟоу ақәранҵаразы арбага аасҭа (52,2 ш.). Атәылақәа рыбжьара иара убас иҟоуп аҵарадырраҿгьы аиҟарамра. Зиндекс ҳараку атәылақәа рҿы ауаа аҵара рҵоит 7,5 шықәса рыла еиҳаны. 
 




#Article 107: Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд (1096 words)


Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд – жәларбжьаратәи еиҿкаароуп, аус ауеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара анапаҵаҟа. Иара аҧҵан 1946 шықәса, декабр 11 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы, Ниу-Иорк.
Раҧхьаӡа акәны, 1940 шықәсазы Ахәыҷтәы фонд аҧҵара аидеиа рылеиҳәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аусбарҭаҟны Польша хаҭарнакра азызуаз, ацхыраара аҟаҵара знапы алакыз Лиудвик Реихман. 

Аҭоурыхтә фактқәа
Ари аидеиа адгылара аиуит 1946 шықәсазы, ассамблеиа хада аилатәараҿы – аӡбамҭагьы рыдыркылеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟәшак аҳасаб ала Ахәыҷтәы фонд аҧҵаразы. Афонд аҳасабтәқәа иреиуан, ахҵәацәа аамҭалатәи рлагерқәа рҿы инхоз, мамзаргьы аибашьра ашьҭахь еилаҧыххааз ақалақьқәа рҿы инхоз ахәыҷқәа зегьы ацхыраара рыҭара. Арбагақәа рыла урҭ ахәыҷқәа рхыҧхьаӡара ҩажәа миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Афонд анаҧҵахаҵәҟьа, иара анагӡаратә директорс дҟаҵан Морис Пеита. Афонд аусура раҧхьатәи хышықәса ирылагӡаны агәыҳалалратә ус ду мҩаҧнагеит. Иныхын 112 миллион доллар. Жәаҩа тәыла рҟны хә-миллионҩык ахәыҷқәеи анацәеи амаҭәа рызшан, аа-миллионҩык ахәыҷқәа арҧҳа чымазара аҟынтәи алаҵақәа рзыҟаҵан, иара убас еиҭашьақәдыргылон ахшлыҵ ааглыхра. 
Европа аекономика анышьақәгыла, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аплан инақәыршәаны, 1953 шықәсазы аӡбамҭа рыдыркылеит Ахәыҷтәы фонд аусура аамҭа иацырҵарц ҧымкрада, убри аан иара анапынҵақәагьы дырҭбаарц. Афонд амчхара дәықәҵан зыҿҳәара дуу апрограммақәа рахь, гәҭакыс ирыман аҿиара иаҿу атәылақәа рхәыҷқәа ргәабзиарахьчареи рыфатә аалыҵи реиӷьтәреи. Абарҭ аиҭакрақәа ҳасаб рзуны, афонд рыдыркыло иалагеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара еснагьтәи аусбарҭа акәны.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара афатәи, ақыҭанхамҩатә еиҿкаареи, агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи аус рыцуа, Ахәыҷтәы фонд ацхыраара ҟанаҵон ахш аалыҵқәа ахьыҟамыз араионқәа рзы апротеин рацәаны излаз афатә аус адулара аҟны.
Аамҭақәак рышьҭахь, Ахәыҷтәы фонд асоциалтә цхыраара рзыҟанаҵон ахәыҷбаҳчақәа, аҿар рзы аклубқәа раартра аҟны, иаҧырҵон аконсультациақәа аҭаацәа зегьы рзы. 1961 шықәсазы, ашықәс аихшьаалақәа рҟны анагӡаратә хеилак алаҳәара ҟанаҵеит Ахәыҷтәы фонд аполитика аиҭакрақәа шалагалахо. Иназыцҵоу функциақәак раҳасаб ала афонд аҳәамҭа ҟанаҵеит хазы игоу тәылақәак ацхыраара рыҭаразы. Ихацыркын арҵаҩцәа разыҟаҵара финансла аиқәыршәара.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аҵакы ахәшьара аҭауа, 1965 шықәса рзы иара ианаршьоит Нобель ипремиа, жәларбжьаратәи аҩаӡараҟны аиашьара ашьақәырӷәӷәаразы. Апремиа анашьара ашьҭахь дук мырҵыкәа иҧсҭазаара далҵуеит Морис Пеит, убри инамаданы апремиа идикылеит анагӡаратә директор ҿыц Генри Лабуисс. Ари аҳамҭа афонд аусра ахәшьара хада азҭаз акакәны иҟалеит. ИУНИСЕФ, аҧҵан аамҭала аҭагылазаашьа ҷыдақәа риааиразы, Европа аибашьра ашьҭахь хылаҧшрада, напыда инхаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭаразы. 
Анагӡаратә директор Нобель ипремиа иацыз аҧарақәа рыла еиҿикааит Морис Пеит иаҳаҭыр азы апремиатә фонд. Есышықәса ари апремиа ацхыраара ҟанаҵоит ахәыҷра ахьчара зхы азызкыз ауаа разыҟаҵара аиӷьтәразы.

ИУНИСЕФ анагӡаратә директор Анри Лабуисс апремиа анашьара ашьҭахь аиҿкаара ахьӡала иқәгылараан иазгәеиҭеит ахәыҷқәа зегьы аҵарадыррала реиқәыршәара шхымҧадатәу. Ҵарадырралеи информациалеи еиқәшәоу ахаҭарақәа рышьақәыргылара адунеи иқәынхо ауаа зегьы анырра рнаҭоит, агәреибагара рыбжьалоит. 
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәабзиарахьчара, аҵарадырра аларҵәара, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара асубсидиақәа рзоузыжьуа, жәларбжьаратәи институтк аҳасабала иалшеит ахәыҷқәа рыцхыраареи амилаҭтә ҿиареи аимадара рыбжьаҵара. Иароуп иаазырҧшыз ахәыҷқәа рроль аҧхьаҟа аекономикатә, асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаҧгараҟны.  
Ахәыҷтәы фонд аиҳабырақәа аус рыцнауеит, урҭ рыбжьара аусеицура рзеиҧш хықәкы еихьӡарала анагӡара алнаршоит. Иаҳҳәап, Ахәыҷтәы фонд тәылак аҿы ахәыҷқәа рыцхырааразы апроект долларк ахҭнырҵазар, иара атәыла аиҳабырагьы убри аҟара ахҭнырҵароуп.
Ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчаразы иқәгылоу ИУНИСЕФ аҳасабтәқәа иреиуоуп – ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчара аҿиара, ауаатәыҩса рпрогресс иузаҟәымҭхо, азеиҧш ҿиара ихымҧадатәу дҵаны ишыҟоу, жәларбжьаратәи аилазаара еилыркаартә аҟаҵара.  

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура аструктуреи апринципқәеи 
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусбарҭа хада акәны иҟоуп Анагӡаратә хеилак, уи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аекономикатә, Асоциалтә хеилак иалнахуеит хышықәса ҿҳәарас иаҭаны. Анагӡаратә хеилак иалоуп 36 ҳәынҭқарра рҟынтәи ахаҭарнакцәа. Афонд аусура напхгара арҭоит амаӡаныҟәгарҭеи анагӡаратә директори. Ари амаҵура 2010 шықәса раахыс дахагылоуп Ентони Леик.
ИУНИСЕФ иалнакаауа аҳасабтәқәа рахь иаҵанакуеит, ус иагьаанхоит – ахәыҷқәа ианхәыҷӡоу инаркны рыҿиара ацхраара, иҷыдоу ахәыҷқәа рхылаҧшра, ачымазарақәа раҧырҟәҟәаара, иара убас, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчара.
Ахәыҷтәы фонд ихадоу ароль ааннакылоит авакцинатә шәарҭадара аҧҵараҟны, убри аан ахәыҷтәы вакцинақәа рҭахрақәа 40% процент рҟынӡа ахахьы иагоит. ИУНИСЕФ, иара убас, авакцинациеи аиммунизациеи рыпроблемақәа рзы зымҽхак ҭбаау алианс аҧҵаҩцәа иреиуоуп. Иара убас, афонд ООН агәыҳалалратә цхыраара азназго ирхадоуп. 

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд имҩаҧнагоит иполитикатәым, ганкы мацара иадымгыло аусура. Убри аҟнытә аҧыжәара рнаҭоит ахәыҷқәа, ииашаҵәҟьаны зегь раасҭа ацхыраара зҭаху. ООН апартниорцәеи агәыҳалалратә еиҿкаарақәеи аус рыцура акәзар, иаарласны хықәкылатәи ацхыраара аҟаҵара алнаршоит.  

ИУНИСЕФ финансла аиқәыршәара 
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд агәра ганы иҟоуп, адунеизегьтәи апрогресс шзалымшо ахәыҷқәа зегьы инхарҭәааны рыҿиара ада. Убри аҟнытә, афонд аусура зегьы шьақәгылоит абри апозициала. ИУНИСЕФ еснагь аполитикцәеи еиуеиҧшым аҳәынҭқарратә еиҿкаарақәеи рахь ааҧхьара ҟарҵоит аусеицуразы, адгылара рырҭоит, инарыгӡоит апрограммақәа, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчареи, урҭ ринтеллектуалтә ҿиареи хықәкыс измоу.
ИУНИСЕФ Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи аҧара аиуӡом, иара аусура шьақәгылоуп агәыҳалалратә шьаҭала. Аусура мҩаҧысуеит аиҳабырақәа, акорпоративтә еиҿкаарақәа, хаҭала ауаа иҟарҵо алагалақәа рыла.
Аҩбатәи ацхыраара афонд иаиуеит хықәкылатәи апрограммақәа рзы атәылақәа-адонорцәа рҟынтә. Алагалақәа рҟынтәи хынҩажәа процент ИУНИСЕФ идәықәнаҵоит ихьысҳан иҿио атәылақәа рахь, убри аҟнытә аҧарақәа рыбжа Африка атәылақәа рахь ицоит. Ибжьаратәу ахашәала змоу атәылақәа ирзоурыжьуеит ахыҧхьаӡара зегь ахьтә ҧшь-процентк. 
Ҳазну аамҭазы афонд есышықәсатәи абиуџьет 5 миллиард доллар ыҟоуп. 

Дарбанзаалак ахәыҷы изин ахьчара – ИУНИСЕФ ахықәкы хада ауп
ИУНИСЕФ аусура азырхоуп, иарбан регионзаалак рыструктурақәа зегьы зҿлымҳара рырҭаларц еиҳа ихьысҳау ахәыҷқәа.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы фонд аусура апринципқәа инарықәыршәаны ишьақәнаргылеит 10 хықәкык, ахәыҷқәа рыпроблемақәа рыӡбара знапы алаку аинститутқәа рырӷәӷәара хырхарҭас измоу. Урҭ рахь иаҵанакуеит:

Урыстәыла аҵакыраҿы ИУНИСЕФ аусура
Урыстәыла ИУНИСЕФ ахаҭарнакра аусура иалагеит 1997 шықәса, март мзазы. Аусеицура знапы алакыз Урыстәыла Агәабзиарахьчареи асоциалтә ҿиареи рминистрра акәын. Партниорцәа хаданы иҟан Аҵареи аҵарадырреи, Адәныҟатәи аусқәеи, Аҩныҵҟатәи аусқәеи, Аиустициеи рминистррақәа, иара убас аҳәынҭқарратә мчрақәа ррегионалтә усбарҭақәа. 
ИУНИСЕФ иара ианаамҭаз Урыстәыла асоциалтә программақәа жәпакы мҩаҧнагон. Иаагозар, аҧшьгамҭа «Ҷыдала ахьчара зҭаху ахәыҷқәа» азкын зҭагылазаашьа уадаҩу ахәыҷқәа, еиуеиҧшым амзызқәа ирыхҟьаны зҭаацәа зыҧхаз, аинтернатқәа, мамзаргьы амҩаду ианхалаз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара. Даҽа программак, афонд аус зыднаулаз — «Аҿар ргәабзиареи рыҿиареи» азкын «аҿар рахь аиҩызаратә еилазаара», аҿартә информациатә центрқәа, асоциал-ԥсихологиатә цхыраара амодель аус адулара, ақәыҧшцәа раҧшьгамҭақәа рыдгылара. Еиҿыркаауан, иара убас, егьырҭ зымҽхак ҭбааз апроектқәа. 
 Урыстәыла Ахәыҷтәы фонд хшыҩзышьҭра арҭон, убасгьы, ахәыҷы изинқәа рзы аконвенциа, ахәыҷқәа ирызкыз Адунеизегьтәи аиҿкаарақәа рыҿиара. Иазгәаҭатәуп, иара убас, Нхыҵ Кавказ аибашьра иахҟьаны ааха зауз ахәыҷқәа ацхыраара рыҭара иазкыз ИУНИСЕФ хазы игоу апрограмма.

Есышықәса Ахәыҷтәы фонд Урыстәыла имҩаҧнагоз аусурақәа рзы аҳасабырба азнархион, урҭ апрессаҿ иркьыҧхьуан, астол гьежьқәа рҿы ирылацәажәон. Аҽалархәразы иаарыҧхьон амчрақәеи ауаажәларреи рхаҭарнакцәа.
Аха, 2009 шықәса сентиабр 4 рзы Урыстәыла ахада иҟаиҵаз аӡбамҭала ИУНИСЕФ ахаҭарнакреи афондқәеи Урыстәылатәи Афедерациаҟны иаанкылан. 

ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи рҟны апандемиа инамаданы аҭактә уснагӡатәқәа аднакылоит
ИУНИСЕФ алшарақәа зегь еизнакит Европеи Агәҭатәи Азиеи KOVID-19 аламырҵәаразы, ихьысҳау ахәыҷқәа апандемиа рацәыхьчаразы. Русураҿы рхы иадырхәон ахәыҷқәа ргәабзиара, рҵарадырра ахьчаразы уаанӡа ирымаз аҧшьгарақәеи идырҳаз адыррақәеи.
Ахәыҷтәы фонд аус рыцнауан ООН асистема иаҵанакуа аиҳабырақәеи аусбарҭақәеи, иара убас еиҳабыратәым аиҿкаарақәа, апандемиа иадҳәалоу аҭактә уснагӡатәқәа рыдкылара хықәкыс иҟаҵаны. Афонд рыцхраауан аиҳабырақәа, зыда ҧсыхәа ыҟам ахыхьчаратә хархәагақәа раахәараҟны, адизинфекциатә хархәагақәа, амедицинатә мыругақәа уҳәа уб. иҵ. Адунеитә џьырмыкьаҿы иҟоу аҧкрақәа ирызхьамҧшкәа, ИУНИСЕФ Европеи Агәҭатәи Азиеи ртәылақәа реиҳарак рахь идәықәырҵеит ацхыраара. 
Аҵара аминистррақәа аус рыцуа, афонд еиҿнакааит аҵара апрограмма, иара убас ацифратә платформақәа, адистанциатә ҵара аларгалеит жәаф тәыла рҿы. 
COVID-19 инамаданы ашәарҭадараз, ахьчараз, ахәыҷқәа позитивтәла рааӡаразы, адырра рыҭан шәнызқьҩыла ахәыҷқәа, аҭаацәа, бызшәарацәала иҟаҵаз аматериалқәа, авидео, асоциалтә ҳақәа, иара убас аинновациатә, аинтерактивтә платформақәа рыбзоурала.
Ачымазара ҿкы анырра бааҧс ҟанаҵеит миллионҩыла ахәыҷқәеи аҭаацәеи рыҧсҭазаараҟны. Убарҭ зегьы ҳасаб рзуны ИУНИСЕФ ацхыраара рнаҭоит арегион зегь аҟны инхо ахәыҷқәа.  




#Article 108: Иугославиатәи аибашьрақәа (1176 words)


Иугославиатәи аибашьрақәа – ари 1991–2001 шықәсқәа рыбжьара уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны аҭыҧ змаз, атәыла хзырбгалаз бџьаршьҭыхлатәи конфлитқәоуп. Иугославиатәи аибашьрақәа реиҳарак асербцәа рыбжьара аҭыҧ змаз амилаҭбжьаратә конфликтқәан, асловенцәеи, ахорватцәеи, абоснииццәеи, албанеццәеи рганахь ала. Даҽа ганкахьала ахорватцәеи абосниеццәеи рконфликт, насгьы аконфликт раҧхьа ахорватцәа рганахь ала адгылара змаз, аха анаҩс Мраҭашәаратәи Босниатәи Ареспублика асербцәеи, Алиа Изетбегович дызхагылаз Ареспублика Босниа Герцеговина аҧсылман мчрақәеи, Ҩадатәи Македониа македониааи албаниааи рыбжьара аконфликт, аетникатәи адинхаҵаратәи еиҿагыларақәа рыла ицәырҵыз. Иугославиатәи аибашьрақәа Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра анаҩс Европа иахьаҵанакуа зегь реиҳа ишьаарҵәыраз еибашьрақәан. Арҭ аибашьрақәа раан аҭыҧ змаз ацәгьоурақәа рыҭҵааразы иаҧҵан уаанӡатәи Иугославиа азы Жәларбжьаратәи атрибунал. 

Аҭоурых. Амилаҭбжьаратә конфликт
Афедеративтә Республика Иугославиа – абас ахьӡын уаанӡатәи балкантәи атәыла. Иара акыр ареспубликақәа рыла ишьақәгылаз социалисттә тәылан. Уаанӡа иара Иугославиатәи Акралра ҳәа ахьӡ аман, уи ахьӡ аиуит 1929 шықәса рзы Балканы, Сербиа, Черногориа ҳәынҭқарракны ианеидыла ашьҭахь. Иугославиа – ари мрагыларатәи аславианцәа рыдгьыл ауп. Ас еиҧш аилазаара ала ари атәыла Аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьранӡа иҟан. Уи аҵакырадгьыл 247542 кв.метра аҵанакуан.
Аибашьра ашьҭахь Иугославиа аҵакырадгьыл, Афедеративтә Республика Иугославиа ҳәа ахьӡ змаз, акыр иацлеит, уи иаҵанакуа иҟалеит 255804 кв. км. 1999 шықәса рзтәи адыррақәа рыла, атәыла аҟны инхоз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 24 миллионҩык рҟынӡа инаӡон. Уи аилазаара иалалеит даҽа ҧшь-республикак. Уахь иаҵанакуеит: Босниеи Герцеговинеи, Хорватиеи Мраҭашәаратәи Македониеи, иара убасгьы Словениа. Абри аилазаара ала Афедеративтә ҳәынҭқарра шәышықәсеи бжаки ишьақәгыланы иҟан. 

Иугославиа даара идууз, европатәи аҳәынҭқаррақәа ируакыз, еснагь ахорватцәа, асербцәа, аҧсылманцәа ирзеиҧшыз ҩныкны иҧхьаӡан. Аха 90-тәи ашықәсқәа рзы уи даара иуадаҩыз амилаҭбжьаратә конфликт иалагалан.

Аҭыӡшәа зыхҟьаз
Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны инхо ажәларқәа рыбжьара, аетникабжьаратә конфликтқәа даара иҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭақәа рымоуп. 1371 шықәса рзы аславиан жәларқәа аҭырқәцәа асербцәа рҵакырадгьыл аҟынтәи иқәырцо иалагеит. Аҭырқәа-османцәа рыла Сербиа анапахьы аагара иахҟьаны, аславиан уаажәларра рыхәҭак аислам динхаҵарахь ихьанарҧшит.
Ажәаатәи ашәышықәсазы Австриа знапаҵаҟа иҟаз Габсбургаа рдинастиа, анемеццәеи ачехцәеи рнапҟазацәа Воеводинеи Сербиеи рышҟа ииасны рынхара адгылара азыҟарҵон. Анаҩс, ари аҵакырадгьыл аҟны рынхарҭа аҭыҧқәа рыҧшааит: ауриацәа, абырзенцәа, аерманцәа, авенгрцәа. Аетникабжьаратә конфлитктқәа уаанӡагьы аҭыҧ рыман, жәаҳәарада, аха урҭ реиҳарак османаа, авенгрцәа, анемеццәа ирҿагылаз қәгыларақәан.
Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь иугославиатәи адгьылқәа аанрыжьит анемеццәа, Сербиаҟа акәзар, нхара инеит черногориатәи, герцеговинатәи, босниатәи асербцәа. Абарҭқәа ирыхҟьаны ари аҵакырадгьыл аҟны ауааҧсыра ретникатә еилазаара аҟны ахыҧхьаӡаратә еибакапанра аҭыҧ аиуит.
Сербиаа еснагь Иугославиатәи аибашьра аҟны активла рҽаладырхуан, ишдыру еиҧш, ари аибашьра жәашықәса иреиҳаны ицон. Уи алагеит 1991 шықәса рзы, иагьхыркәшан 2001 шықәса рзы. 
Иугославиатәи аибашьра аҵакы аганахьала уахәаԥшуазар, асербцәа ринтересқәа ирконфликтын, уи ишьақәнаргылон лагерк: Харватиа, Албаниа, Босниа, Герцеговина ртәылауаа. Уи анаҩсангьы, амчрақәа реихшара аан Харватиеи, Босниеи, Герцеговинеи рыбжьара аконфликт аҭыҧ аман. Македониатәи аиҿагыларақәа – ари атәыла ахаҭарнакцәеи албанеццәеи рыбжьара арелигиатә ҟазшьа змаз аиҿагыларақәа, аетникатә адҳәалазаара иахҟьеит ҳәа ирыԥхьаӡоит.
Ихадароу арратә цәгьоураны иҧхьаӡан агеноциди ауаатәыҩса ирзырхаз азинеилагарақәеи, урҭ аҭыҧ рыман аконфликт аҭыҧ аманаҵы. Иазгәаҭатәуп убас еиҧш афакт, Адунеизегьтәи Аҩбатәи аибашьра аан ишыҟамыз еидысларак, Иугославиатәи аибашьра аан еиҧш ишьаарҵәырахаз.
Арҭ арра-граждантә хҭысқәа рыҭҵааразы еиҿкаан анкьатәи Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал, уи Гаага иҟан. Атрибунал иаҵанакуеит абас еиҧш аусбарҭақәа: аӡбарҭатә палатақәа ҩбеи апеллиациатәии. Урҭ аӡбаратә усмҩаҧгатәқәеи ахарадҵаҩы имаӡаныҟәгарҭеи ирхылаҧшуан.
Иахьа Атрибунал 27-ҩык аӡбаҩцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рахьтә 15-ҩык еснагь атрибунал аҟны аус зуа роуп. Даара аинтерес зҵоу фактуп, ари аиҿкаара аиурисдикциа иахьаҵанакуа, иалкаау ахаҿқәа ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаҧгара. Анапхгараҭаратә усбарҭақәа русура акәзар, ари атрибунал урҭ ирзырхоу аӡбаратә процессқәа рымҩаҧгара азин амам. Иугославиазы Жәларбжьаратәи атрибунал аҟны зегьы иреиҳау хьырхәроуп ԥсраҽнынӡатәи арбаандаҩра.
Иугославиатәи аибашьрақәа зегьы инықәырҧшны х-хәҭакны иушар алшоит, арҭ ахәҭақәа зегьы ахҭысқәа рыҿиашьа анырра ӷәӷәа арҭон. Актәи аетап аҩажәатәи ашәышықәса 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы иалкаауп. Уи иаҵанакуан Словениатәи аидысларақәа, урҭ жәамш ицон. Анаҩс Хорватиеи Босниеи рҵакырадгьылқәа рҟны ҧшьышықәса ицон аибашьра. Уи 1992 шықәса инаркны ҧхынҷкәынмза 1995 шықәсанӡа ицон.
Аҩбатәи аетап алкаан Иугославиа иаҿагыланы ақәҧарала, НАТО ари аибашьра активла алахәхара ала. Уи цон 1995 шықәса инаркны 1998 шықәсанӡа. 
Ахҧатәи аетап акәзар, излалкаахаз Косово аҭыҧ змаз аидыслара ала ауп, уи хыркәшан Метохиеи ари арегион аҟны автономтә зхаҵареи рыла. Ари аибашьра цон 1998 шықәса раахыс, иагьхыркәшахеит аҩажәиактәи ашәышықәса ҿыц алагамҭазы Македониатәи аидыслара ала.
Ас еиҧш ахҭысқәа ирылҵшәаны Иугославиа зхала иҟоу тәыланы аҟазаара аҧыхын, уи аҵакырадгьыл аҟны ицәырҵит хаз игоу аҳәынҭқаррақәа – Сербиа, Черногориа, Босниа, Герцеговина, Македониа уҳәа реиҧш иҟоу. 

Актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт
Уаанӡатәи Иугославиа аҵакырадгьыл аҟны актәи бџьаршьҭыхлатәи аконфликт цәырҵит асербцәеи ахортватцәеи рыбжьара. Асербцәеи ахорватцәеи реиҿагылара аан иҭахеит 20-нызқьҩык рҟынӡа ауаа (асербцәа реиҧш ахорватцәагьы), ирбган акыр ақалақьқәеи ақыҭақәеи, ареспублика анхамҩа даара ааха ҕәҕәа аҭан, ихҵәацәаны иҟалеит 230-нызқьҩык рҟынӡа асербцәа.

Сербиа аиҳабыра рҟынтәи адгылара зауз асербцәа иугославиатәи ар рыцхыраарала аграждантә еибашьра иалагоит. Уи аибашьра иалагалан автономиа зҭахыз аҧсылманцәа (Мраҭашәаратәи Босниа жәлар рхыхьчара), абошниакцәа (Босниеи Герцеговинеи рырратә архәҭақәа), насгьы ахорватцәа (Хорватиатәи вече, Хорватиа ар), иара убасгьы аибашьра иалахәын НАТО амчрақәеи қьырала еибашьуази. Ари арратә еиҿагылара аетникатә рыцқьарақәа ҳәа изышьҭаз ахылҿиааит, босниатәи ауааҧсыра реиҧш асерб уааҧсырагьы ирзырхаз.
Аҭоурых арҵагақәа рҟны иазгәаҭоуп аграждатә еибашьра аҟны ишыҟам ииашоуи ахара здуи издыми. Ас еиҧш аибашьра аҟны иршьуа зхыршьаауа урҭ рполитикатә дунеихәаҧшышьа азакәӡам, урҭ зыхдырҟьо иалкаау жәларык иахьаҵанакуа азоуп, ари аибашьра даара игәымбылџьбароу еибашьроуп. Иахьагьы иуадаҩуп ауаа ари аибашьра иалахәу рыԥсихологиа аилкаара, избанзар урҭ ауаа акраамҭа еицынхон, рхәыҷқәа еицырааӡон, аус еицыруан, дара-дара еицхыраауан, еиҧшымзаарас ирымаз рдинхаҵареи рмилаҭтә аҵанакреи заҵәык ракәын, нас сааҭк аҩныҵҟа еиҕацәахеит, еибашьуа иалагеит. 

Деитонтәи аиқәышаҳаҭра
Ари аконфликт аганқәа зегьы досу рхатәы иашара рыман. Ас еиҧш азалымдаррагьы ахи аҵыхәеи аилкаара даара иуадаҩын, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаареи НАТО арбџьарымчқәа реиҟәшареи ари аконфликт ахы аланамырхәызҭгьы, изалыршахомызт 1995 шықәса рзы еибашьуаз аганқәа рыбжьара аҭынчра шьақәзыргылоз Деитонтәи аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩра. 

Иааркьаҿны ари адокумент аҵакы абас еиҧш иҟоуп уҳәар алшоит:

Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа
Аибашьра ашьҭахьтәи Иугославиа федеративтә ҳәынҭқарраны иаарҧшын, уи иаҵанакуан ареспубликақәа фбеи автономиақәа ҩбеи. Иугославиа ахыбгалара аламҭалазы, 90-тәи ашықәсқәа раан, уа инхоз ауааҧсыра рхыҧхьаӡара 10 миллионк рҟынӡа инаӡон, урҭ рахьтә: 62% – асербцәа, албанеццәа – 17%, черногориаа – 5%, аҧсылманцәа – 3%, авенгрцәа – 3% уҳәа егьырҭгьы. 90-тәи ашықәсқәа ралагамҭазы Сербиеи Черногориеи, асербцәа еиҳа рхыҧхьаӡара ахьырацәаз, еидгылеит, иаҧырҵеит асоиузтә республика Иугославиа.
Иаанхаз ҧшь-республикак (Хорватиа, Словениа, Босниа, Герцеговина, Македониа) ахьыҧшымра аиура иашьҭан афедералтә центр аҟынтәи. Избанзар, Македониа асербцәа рхыҧхьаӡара даара имаҷын, ари афакт азгәаҭо, ари ареспублика аинвесторцәа уиаҟара рылахь иааиуамызт азы иалшеит даара ирмарианы ахьыҧшымра аиура, имҩаҧгаз ареферендум иабзоураны. 

Босниатәи аибашьра алҵшәақәа
Босниатәи аибашьра иалҵшәахеит:

Деитонтәи аиқәышаҳаҭра Босниеи Герцеговинеи рконституциатә шьақәгылара ашьаҭа аҳаит. Ас еиҧш асистема акыр идузар, насгьы лҵшәа ҕәҕәак амамзар ауеит аха, уи агәреибагара ашьақәыргылара аамҭазы зда ҧсыхәа амам акәын ас еиҧш агәаҟрақәа зхызгаз ажәларқәа рыбжьара.
Акырӡа шықәса шыҵхьогьы ари аибашьра хлымӡаах еилгеижьҭеи, уи иааннажьыз ахәрақәа макьанагьы имҕьац. Иахьа уажәраанӡагьы босниатәи ашколқәа рҟны ари аибашьра атәы ахәыҷқәа ирзеиҭарҳәаӡом. Иаарту зҵаароуп ажәларқәа реиныршәара азҵаара. 

Иугославиатәи аибашьра иазкны иҭыху афильмқәа
Убас еиҧш иҟалалоит, акраамҭа уашьҭоуп иалкаау темак иазку афильмқәа. Усҟан, ҿырҧштәыс иаагозар, иреиӷьу америкатәи афильмқәа жәаба ҳәа аҧшаара ҟауҵар, уи иаарласны иуҧшаар ауеит, аха иҷыдоу аспецифика змоу акы уанашьҭоу, ас еиҧш аҧшаара лҵшәадахар алшоит. Уаанӡатәи Иугославиа аҟны аграждантә еибашьра иазку афильмқәагьы зыҧшаара мариам рахь иаҵанакуеит, ари атема иазкны иҭыху афильмқәа шмаҷымгьы. Абар иреиӷьу ҳәа иалкааз Иугославиатә аибашьра иазку афильмқәа жәаба:
Спасти Хэррисона (Harrison's Flowers – правильней было бы перевести как «Цветы Хэррисона»), 2000 ш.
В тылу врага (Behind Enemy Lines), 2001 ш.
Демоны войны (Demony wojny wedlug Goi, также есть перевод названия как «Псы войны»), 1997ш.
Ничья земля (No Man's Land), 2001 ш.
Вуковар (Vukovar, jedna prica) 1994 ш.
Снайперы (Shot Through the Heart – также можно встретить название «Выстрел сквозь сердце»), 1998 ш.
Жизнь как чудо – (Život je čudo), 2004 ш.
Спаситель (Savior), 1998 ш.
Перед дождем (Before the Rain), 1994 ш.
Красивые деревни красиво горят (Lepa sela lepo gore), 1996 ш. 




#Article 109: ИУЏЬИН ВИКТОР ДЕБС (427 words)


Иуџьин Виктор (Џьин) Дебс (анг. Eu¬gene Vic¬tor «Gene» Debs 1855–1926) – Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны аусуцәеи армаратә ҵысреи русзуҩы, Америка Асоциалисттә партиа (1900–1901 ш. рзы), иара убас (1905 ш. рзы) азанааҭеидгылатә еиҿкаара «Адунеи аиндустриалтә усзуҩцәа» аиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Асоциалисттә партиа аҧхьагыла, уи апартиа аҟынтәи алхрақәа раан хәынтә кандидатс иҟаз, 6% рҟынӡа америкатәи алхыҩцәа рыбжьқәа роура зылшоз. 

Абиографиа
Иуџьин Дебс далгеит 8 класск, 14 шықәса анихыҵуаз аусура далагеит, раҧхьа аихамҩа аусзуҩыс, нас амцаҭаҵаҩы ицхырааҩыс, аҵыхәтәаны 1870 ш. рзы афақьдәыҕба амцаҭаҵаҩыс аусура далагоит. Иуаажәларратә усура акәзар, уи хациркит алитературатә клуб Оксидентел, иқалақь гәакьа Терре-Хот аҟны, уахь еснагь ааҧхьара ала иқәгылон Роберт Грин Ингерсолли Сиузен Ентонии. 
Иуџьин Дебс иҧсҭазаара ахәҭак азаанаҭеидгылақәа раҧҵареи рырҭбаареи иазикит. Хыҧхьаӡара рацәала иаҧҵаз азанааҭеидгылақәа реидкылара дашьҭан. Аха игәҭакқәа зыҟамлеит. «Пульмановтәи ақәгыларақәа» рхыбгалара ашьҭахь – усҟантәи аамҭазы уи зегьы иреиҳаз амассатә қәгыларан, Дебс фымз иқәҵаны дҭаркуеит. Аӡбарҭаҿ уи дихьчон еицырдыруаз адукат Кларенс Дерроу.
Дерроу (иара убасгьы америкатәи асоциал-демократцәа рҧыза Виктор Бергери) иоуп Дебс асоциалисттә ҵара дадзыҧхьалазгьы. Абахҭаҿ Едвард Беллами, Роберт Блетчфорд, Карл Каутски, Карл Маркс, асоциалистцәа русумҭақәа дрыҧхьон, Дебс еиликаауа далагеит, азаанаҭеидгыла ахаҭа, аполитикатә дгылара змам, аусуцәа рықәҧара аҟны ацхыраара дук аҟаҵара шзалымшоз. Раҧхьа Асоциал-демократиатә, анаҩс Еиду Америкатәи Аштатқәа Рсоциалисттә партиа аиҿкааҩцәеи аҧҵаҩцәеи ируаӡәкыз Дебс атәыла акәакьқәа акыр дырҭааны асоциализм атемала алекциақәа дрыҧхьон. 

Иҧсҭазаара зегьы Дебс аҧара даргәаҟуан, ихазы, аиҿкаара азы, насгьы апартиатә газеҭи ажурнали рҭыжьразы, урҭ редакторцәас иаман иашьеи иареи. Абарҭқәа зегьы ракәын иара ирҳауаз зегьы зыхҭниҵоз. Азанааҭеидгыла ауалқәа раркразы Дебс иара ихьӡала акредитқәа анигозгьы ыҟан. 

Дебс иҳәамҭақәа

Мшаҧымза 21, 1918 шықәса рзы – агазеҭ «Нью-Йорк колл» аҟны Дебс «Урыстәылатәи ареволиуциа аҧсы» захьӡыз астатиа икьыҧхьит, уа аусуцәеи, анхаҩцәеи, абольшевикцәеи – Урыстәыла ареволиуциа азаазгаз – дырзышәаҳәоит. «Ареволиуциа алахьынҵа зеиҧшразаалакгьы, – иҩуан Дебс, – уи амца зыӷроу аҧсы ҧсра ақәым, уи адунеи зегьы лашарала, хақәиҭрала, бзиабарала иарҭәуеит». 
Цәыббрамза 4, 1920 шықәса рзы. агазеҭ «Нью-дей» аҟны апрезиденттә  алхратә  компаниа аан  Дебс иҩуан: «Еиҭакрак ҟаларц залшом, гәыҧҩык ауаа ҳтәыла рнапаҟны иҟанаҵы,уи амазара, аресурсқәа, аполитика хылаҧшра арҭонаҵы». 

Иу. Дебс иҧсҭазаара ахроника

Абҵарамза 5, 1855 шықәса рзы ақалақь Терре-Хот (Индиана) диит Иуџьин Виктор Дебс.

Абарҭқәа рышьҭахь иаарласны Дебс дҭаркуеит, даҽа аамҭак анаҩс, иара иқәгыларақәа рзы, америкатәи акапиталисттә система ақәыӡбаразы, урыстәылатәи абольшевикцәа рықәгыларақәа рыдгыларазы, аштат Огаио, Кливлендтәи Афедералтә Ӡбарҭа, Иуџьин Дебс жәашықәса иқәҵаны дҭанакуеит.

Иуџьин Дебс Аҩны шкәакәа аанижьуеит иаарласны, абахҭа аҟынтә даноурыжь ашьҭахь, 1921 шықәса рзы.

Аинтерес зҵоу афактқәа
Виктор Иуџьин Дебс 1918 шықәса рзы Чикаго аибашьра иаҿагылоз ажәахә ала дықәгылоит. 1920 шықәса лаҵарамзазы Дебс абахҭаҟны даныҟаз иҭаауеит Америка Асоциалисттә партиа аофициалтә хаҭарнакцәа, иагьиҳәоит рпартиа аҟнытә Еиду Америкатәи Аштатқәа рпрезидентс икандидатура ақәыргылара дақәшаҳаҭхарц. Уи еиҧш ажәадгала иара дақәшаҳаҭхеит. Еицырдыруа ашәҟәыҩҩы Курт Воннегут Иуџьин Дебс дишьҭрақәлаҩны ихы иҧхьаӡон (Дебс иҧсҭазаара далҵит Воннегут ҧшьышықәса анихыҵуаз). 

 




#Article 110: Нарҭаа репос (1568 words)


Нарҭаа репос – ари Нхыҵ Кавказ ажәларқәа рҟны аишьцәа-аҧелуанцәа Нарҭаа ирыхҭысызи рҭоурыхи атәы зҳәо аҳәамҭақәа шьаҭас ирымоуп. Уи аҧсуа-адыга жәларқәа, ауаҧсаа, аваинахцәа, абалкарцәа, аҟарачқәа уҳәа ирымоу ҳәамҭақәоуп. Иара убасгьы ашәанцәагьы хаз игоу ациклқәа ахьрымоу ыҟоуп. 
Ажәа «аепос» ажәытә бырзен бызшәа аҟынтә иаауеит. Алитератураҿы ихадоу ажәабжьеиҭаҳәаратә жанрқәа хҧа ируакуп. Аепос автор дамам. Уи аҧҵара иалахәуп ажәлар зегьы. Убри аҟнытә афырхацәа ирызку алегендақәеи амифқәеи инарываргыланы, уи иагәылоуп ажәытәан ажәлар рыҧсҭазаашьа зеиҧшраз азы аматериал. 

Нарҭаа репос ашьақәгылара
Амч дуи афырхаҵареи злаз, адауцәа ирабашьуаз, хьыӡрацара ицоз аишьцәа ирызку амифқәа змоу Кавказ ажәларқәа рацәоуп. Раҧхьаӡа иргыланы аҧсуа-адыга жәларқәа, ашәуаа, аубыхцәа, адыгаа, аҟабардақәа, ачерқьесцәа, иара убас ауаҧсаа. Аҵарауаа шьоукы ргәаанагарала, ашәуаа рнарҭтә епос еиҳа иҵаулоу ашьаҭақәа амоуп. Нарҭаа ирызку ажәабжьқәа уҧылоит иара убасгьы аҟарачқәеи абалкарцәеи рҟны. Уарлашәарла иҟоуп аваинах фольклор аҿгьы – ачечен жәлари аингуш жәлари рҟны. Арҭ ажәларқәа иаҧырҵаз ажәабжьқәа зегьы рсиужетқәа реиҳарак шеиҧшугьы, досу репос иара ахатә ҷыдарақәа амоуп. Уи зыхҟьаз ҳәа иазгәарҭо ажәабжьеиҭаҳәаҩцәа досу рыжәлар рзы рдунеиҳәаҧшышьеи разхаҵарақәеи ирыдҳәаланы иахьеиҭарҳәоз акәзаргьы ҟалоит. 
Нарҭаа репос бызшәалеи етникатә хылҵшьҭарлеи еигәыцхәым ажәларқәа иахьырзеиҧшу – иџьашьатәу фактуп. Уи амаӡа аарҧшра акыршықәса раахыс афольклористцәа дуқәа аартра иашьҭоуп, аха иахьа уажәраанӡагьы урҭ иаку гәаанагарак ахь изымааицт. Шьоукы ргәаанагарала, аепос аԥырҵеит Кавказтәи абызшәатә ҭаацәара иатәу ажәларқәа, ауаҧсаа уи ахьрымоу акәзар – даҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәоит урҭ Кавказ ишашьагәыҭу, џьарантә иқәнагалаз аскифцәеи асарматцәеи ишырхылҵшьҭрам.
Даҽа шьоукы изларыҧхьаӡо ала, Аахыҵ-Кавказтәи аҭоурыхқәа еиқәдырхеит ажәытә ирантәи ашьагәыҭ, иара ажәа «нарҭ» ахаҭагьы ирантәи ахылҵшьҭра амоуп, индоевропатәи абызшәақәа рҟынтәи иаауеит, иагьаанагоит «афырхаҵа». Убри аан аҵарауаа аҧсуа-адыга жәларқәа репос ижәытәӡатәиу атрадициақәеи азхаҵарақәеи рышьҭамҭа шаныҧшуа, архаикатә цәаҩа шахоу азы еиқәшаҳаҭхоит, ауаҧс ҳәамҭақәа ракәзар, хықәкыла аус рыдулан, иҭәышәынтәалоу аҭоурых ашьақәыргылара хықәкыс иҟаҵаны. 
Нарҭаа репос ҿион, иагьышьақәгылон Кавказ ашьхақәа рҿы зқьышықәсала. Аҭҵааҩцәа реиҳараҩык изларыҧхьаӡо ала, иара ҿио иалагеит ҳера ҟалаанӡа VIII–VII ашәышықәсақәа рзы. Егьырҭ аҵарауаа ирҳәоит Нарҭаа ражәабжьқәа рхыҵхырҭа ыҟоуп ҳәа ҳера ҟалаанӡа III азқьышықәсаҿы. Аха, ишыҟазаалак, гәаанагарак ҿыӷәӷәала иуҳәар алшоит: Нарҭаа репос иит Кавказ адинхаҵарақәа ақьырсианреи амсылманреи рцәырҵранӡа акыр шыбжьаз. Уи аршаҳаҭуеит Нарҭаа аишьцәа дуқәа ирызку ажәабжьқәа ирныҧшуа аполитеизм.
Нарҭаа ирызку аҭоурыхқәа циклны еидыркылон. Урҭ еидҳәалан ирзеиҧшу асиужет, ма ахронологиа ала. Аамҭа цацыҧхьаӡа Нарҭаа ирызкыз амифқәа зегьы реицҵарала ишьақәгылеит иаку аепос. Ари апроцесс хыркәшахеит ҳәа иҧхьаӡоуп абжьаратәи ашәышықәсазы – XII–XIII ашәышықәсақәа рзы. Ари аамҭазы Кавказ ицәырҵхьан ақьырсианреи аҧсылманреи, уи рныҧшуеит хронологиала иҵыхәтәантәиу Нарҭаа ражәабжьқәагьы. Ижәытәӡатәиу аҭоурыхқәа рҟны архаикатә дунеихәаҧшышьа ааҧшуазар, аҵыхәтәантәиқәа рҿы – иуҧылоит амонотеисттә динхаҵарақәа иртәу асимволқәеи атрибутқәеи. Уи адагьы, ажәабжьеиҭаҳәаҩцәа лассы-лассы рҭоурыхқәа ҳаамҭа иақәшәо иҟарҵон, ирзыӡырҩуа иаҳа аинтерес ддыркырц азы.   Нарҭаа репос жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа ирбаҟаны иахьыҟоу анаҩсгьы, ианыҧшуеит иара аҧызҵаз ажәлар рсоциал-економикатәи ркультуратәи ҿиарақәа еиуеиҧшым апериодқәа: аматриархат аамҭақәа инадыркны афеодалтә-класстә еизыҟазаашьақәа рышьақәгыларанӡа. Убри азоуп Нарҭаа репос – жәлар рнапы иҵыҵыз автографуп ҳәа захырҳәаауа. 

Нарҭаа репос еиуеиҧшым ажәларқәа рҳәамҭақәа рҟны 
Нарҭаа репос ихадоу темас иамоуп апатриотизм, аҧсадгьыл ахьчараҿы агәымшәареи ахаҵареи раарҧшра. Уи аамҭазгьы, Нарҭаа ртәыла аҟны аибашьцәа реиҳа ҳаҭыр рықәуп анхацәагьы: ажьицәа, адгьылқәаарыхҩцәа, арахә рыхьчаҩцәа. Урҭ, афырхацәа реиҧшҵәҟьа рыӡбахә ашәақәа ирылоуп.  Убасгьы, аепос аҟны – аҳәса пату рықәҵара, аиҳабацәа рыхӡыӡаара, ҿыц еиҵагыло абиҧара рааӡара уҳәа атемақәа аарҧшуп.
Иҷыдоу аҭыҧ аепос аҟны иаанакылоит – аҽы. Нарҭаа рзы уи ҩыза бзиоуп, иара аҽы зтәу иеиҧшҵәҟьа амч алоуп. Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны, аҽы ауаҩы игәрагара иалагоит иара ихаҵареи иашарала ихы шныҟәигои анааирҧшлак ашьҭахь. 
Нарҭаа репос – изхылҿиааз ажәлар рҭоурых иацаҧхоуп, убасгьы иацаҧхоуп урҭ ркультура, дацла ажәытәрахь ицо. 

а) аҧсуаа рҟны Нарҭаа репос 
Нарҭаа репос ижәытәӡатәиу фольклортә баҟаны иахьыҟоу адагьы, аԥсуа жәлар зқьышықәсала ишьақәгылоз рыбзазашьа аҭҵаараҿы аҭоурыхдырцәа ирыхәо хәызмаӡам материалуп.
Аҧсуаа рҟны Нарҭаа репос аҭҵаара иалагеижьҭеи рацәакгьы ҵуам, анаукатә ҭҵаарақәа хацыркын XIX ашәышықәсазы. 1940 шықәсазы раҧхьаӡакәны икьыҧхьын Нарҭаа ирызку аҧсуаа рҳәамҭақәа ҧшьба. 1988 шықәсазы иҭыжьын ашәҟәы «Нарҭ Сасрыҟәеи 99-ҩык иашьцәеи». Нарҭаа репос аҭҵаараҿы иналукааша аҭыҧ ааникылоит академик Шьоҭа Салаҟаиа – раҧхьаӡатәи ипрофессионалтәу аҧсуа фольклорист-нарҭҭҵааҩы, аепосҭҵааҩы. Иара убасгьы зыхьӡ нагоу афольклорҭҵааҩы, хықәкыла Нарҭдырра знапы алаку, Кавказ афольклорҭҵаараҿы злагала рацәоу академик Зураб Џьапуа. Аҧсуа Нарҭтә епос ҭызҵааз еицырдыруа ҵарауаҩуп, зегь раҧхьаӡа иргыланы, иранҭҵааҩы Василии Абаев. 
Аҧсуаа рҿы Нарҭаа репос аҧҵоуп прозалеи ажәеинраала аформалеи. Аха, прозала иаҧҵоу ажәабжьқәа акыр еиҳауп.  
Еицырдыруа аҧсуа ҵарауаҩ Шьалуа Инал-иҧа иҩуан: «…Аепос хазы игоу афрагментқәа аҧхьарца ианҵаны ашәаны ирҳәоит. Аха иашәаны ҳаамҭанӡа иааӡаз аепос ахәҭақәа – абжьи амузыкеи ахьузеидымхуа, даараӡа имаҷуп (иҟоуп иҷыдоу Нарҭаа рмелодиа), зны-зынлагьы акәашара ацуп (иаҳҳәап «Нарҭаа лан лашәа» аҟны ишыҟоу еиҧш). 
Аҧсуаа изларыҧхьаӡо ала, Нарҭаа – ҭаацәароуп, шәҩык аишьцәеи раҳәшьазаҵә Гәындеи, урҭ зегьы зхылҵыз ран Саҭанеи-Гәашьеи назлоу. Абри аҭаацәара ду жәларык ирсимволуп. Аҧсуа Нарҭтә епос афырхаҵа хада Нарҭ Сасрыҟәа иоуп. Сасрыҟәа иҭоурыхқәа аепос иагәыцәуп. Сасрыҟәа ихаҿсахьа идеалыртәуеит, уи иашьцәа еиқәирхоит аҵх еиқәара ианалахаз, ахьҭа иакны. Дхысны аеҵәа кыдиҧаан, иашьцәа алашара дирбеит, нас адауцәа амца рымҵиҧаан, иашьцәа ириҭеит. Афырхаҵарақәа ҟаиҵоит, ахымхәацәа дрыцхраауеит, аиашара шьақәирӷәӷәоит. Сасрыҟәа ихала агәылшьап шьны, иашьцәа адауҧҳәыс лымгәарҭа аҟынтә иҭыганы рыҧсқәа еиқәирхоит. Сасрыҟәа днашҧан ҳәа иашьцәа еиҳабацәа драҭәаршьаӡомызт, дрывадыргылаӡомызт. Уи адагьы имч-илшарала дахьреиӷьыз азы иҵашьыцуан, егьараан рыҧсқәа шеиқәирхахьазгьы. Аҵыхәтәан аишьцәа аџьныш ҭакәажә лҟны Сасрыҟәа иҧсырҭа ахьыҟаз еилкааны даҧырырхуеит. 
Нарҭаа репос иалоу ахаҿсахьа хадақәа дыруаӡәкуп Саҭанеи-Гәашьагьы – имажәуа, ҟәыӷара згым Нарҭаа зегьы ран. Дҟәышуп, дгызмалуп, анхамҩаҿгьы илзымдыруа ҳәа акгьы ыҟаӡам. Нарҭаа еснагь лабжьагажәа иаҳәоит, ирабжьылгогьы еснагь хра аманы иҟоуп. Уи лажәа иқәныҟәоз лҧацәа, лыбзоурала акырынтә аҧсра иахыҧахьан.
Шьалуа Инал-иҧа Саҭанеи-Гәашьа лхаҿсахьазы иҳәеит: «Саҭанеи — зегь рыла ихазыноу аҧҳәыс лхаҿсахьоуп, мрада дкаҧхоит, мзада дкаҷҷоит. Саҭанеи лоуп Нарҭаа рыжәла хацзыркыз, уи ахаҿгьы игылоу, ахәышҭаарамца еиқәырханы иаазго, аҩнаҭа ныҟәызго, иҟалаша здыруа, жәлар рырҵаҩысгьы иҟоу». Саҭанеи пату ду лықәырҵоит Нарҭаа зегьы, дара рыбжьара зегьы иреиҳаӡоу астатус змоугьы лара лоуп. Егьырҭ аҳәса рхаҿсахьақәа уи аҟара ирацәаны иуҧылом Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны. Аҭыҧҳацәа еиҳарак афырхацәа еимакырҭас ироуаз мзызхон. Нарҭаа рыдагьы аепос асиужетқәак рҟны ицәырҵуеит анҭыҵтәи афырхацәагьы. Аинтерес аҵоуп убас иааз афырхаҵа Нарџьхьоу изку аепизод, уидымҵаирсуеит Нарҭаа раҳәшьазаҵә Гәында-ҧшӡа. Абар аепос аҟны ишаарҧшу аишьцәа ашәҩык раҳәшьазаҵә лхаҿсахьа: «Лара Гәында илыхьӡын, ҧшралеи сахьалеи дыблахкыган азы Гәында-ҧшӡа ҳәа илышьҭан. Нарҭаа раҳәшьа рнапы дықәыргыланы дырбон, уамакала илыхӡыӡаауан. Ахан хьыҵәцараҿы дынхон Гәында-ҧшӡа. Лшьапы ахаан адгьыл иқәымкьысцызт. Лашьцәа шәарах баҩлашала ддырчон. Аҭыҧҳа лцәеижь ашәаӡа еиҧш ипашәын, иҧшқан. Лоуразоуроу длаша - лашон. Уаҩытәыҩсатә бызшәала еиҭаҳәашьа узаҭомызт Гәында лыҧшӡара». 
Нарџьхьоу Нарҭаа дреиуам, аха иӷәӷәаралеи игәымшәаралеи урҭ дрыҵахом. Аиха хаԥыцқәа имоуп, зынџьырла дҭаҧахны дҿоуҳәаргьы, еиҩҵәҵәаны инықәиҵоит, иҧаҵақәа аџыр иалхуп. Хәажәарҧыс изҳәаны итәаз Гәында-ҧшӡа дымҵаирсуеит Нарџьхьоу. Зыҧҳа лынасыҧ иаӷрагылаз Нарџьхьоу дахьлырхәырц Саҭанеи - Гәашьа уи дхаҳәылтәуеит, Хәжәарҧыс иакәзар – дхәажәхоит. 
Нарҭаа рпантеон аҟны иҟоуп анцәахәқәа, иаҳҳәап – адади амацәыси ранцәахәы Афы, абнақәеи ашәарахи рынцәахәы – Аергь –Ажәеиҧшьаа, убас егьырҭгьы. Ус шакәугьы, аполитеисттә еилкаара инақәыршәаны, дара нцәақәоуп ҳәа узҳәаӡом. Нарҭаа аҭыҧ ҧшьақәа ҳәа акгьы рымаӡам, анцәахәқәа рыхьӡала ашьтәашьрагьы ҟарҵаӡом. Уи аамҭазы, дара агәра ргоит еилкаашьа змам, амч – адоуҳа шыҟоу, рангьы Саҭанеи-Гәашьа уи шлымоу. 

б) адыгаа репос
Адыгаа ражәабжьқәа реизгаҩыс иҟаз рахьтә иалкааны иӡбахә уҳәар ауеит Кази Атажукин, уи акыр шықәса инеиҧынкыланы хаз - хазы иҟаз аҭоурыхқәа рциклқәа реизакра илшеит. Адыгаа репос аизгараҟны уадаҩрас иҟаз аетникатә гәыҧқәа еиҭарҳәоз ажәабжьқәа дара-дара аиқәымшәарақәа ахьрымаз ауп. Адыгаа рнарҭ епос аҭҵааҩцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, абазақәеи адыгааи рҭоурых аромантикатәи амифтәи шьаҭа аҭаны иаарҧшуп. 
Адыгаа рнарҭдырра аҟны ихадоу хаҿуп - афырхаҵа Биданыҟәа ихаҿсахьа. Иара даара иҟәыҕоу, аҽынкылара злоу, аиҳабацәа пату рықәызҵо, зхала афырхаҵарақәа ҟазҵо иоуп. Диит иара Нарҭ Бадына иҩнаҭаҟны, аха Нарҭаа дрылармааӡеит, избанзар, дара иара даныхәыҷыз ишьра иашьҭан. Ус шакәызгьы, Биданыҟәа иоуп Нарҭаа еснагь аӷас ирымаз – чинтааи иныжи ириааиз. Иашьцәа Нарҭаа – анцәақәа ирабашьуаз реиҧш акәымкәа, иара анцәа ицәшәара рыхшыҩ азышьҭра дашьҭан. Биданыҟәа ибзоурала даара иџьбараз Нарҭаа рзакәан, иажәыз, зхы иамыхәоз Нарҭаа ацаҟьа аҟынтәи рыршәра иазкыз аҧыхын, уи алагьы иара иаб Бадын иҧсы еиқәырхан.  Биданыҟәа адыгаа рнарҭдырраҿы архаикатә фырхаҵоуп. 

в) аваинахцәа репос
Ачеченцәеи аигәышцәеи рҳәамҭақәа рыҭҵааҩцәа даарылукаауеит еицырдыруа аҵарауаҩ Ахмед Малсагов. Аваинахцәа репос Нарҭаа репос ауп ҳәа узазҳәом иааизакны. Жәаҳәарада, аваинах жәлар рҳәамҭақәа рҟны Нарҭаа уҧылоит, аха ара дара афырхацәа иашақәа ираҕацәоуп, иқәылаҩцәоуп, анцәа иҿагыло уаауп. 
Аингәышцәеи ачеченцәеи репосқәа аиҧшымзаара рымоуп. Ачеченцәа рмифологиаҿы Нарҭаа – ортсхоицаа еснагь иҵоурам хаҿсахьақәоуп, аингәышцәа рнарҭдырра аҟны иҧелуанцәоуп, урҭ аваинахцәа ирхылаҧшуеит, аӷацәеи аҧсымыцқьақәеи рҟынтә ирыхьчоит. 

г) аҟарачқәеи абалкарцәеи репос
Аҟарачқәеи абалкарцәеи рҟны ажәабжьҳәаҩцәа халкжер - чи ҳәа ирышьҭан. Урҭ Нарҭаа ирызкыз ажәабжьқәа ишырҳәо еиҧш, ҿык аҟынтә ҿык иҭалон. Аҟарачқәеи – абалкарқәеи иртәу Нарҭаа репосгьы иахьа уажәраанӡа аагара зыбзоуроу ажәлар роуп, урҭ ргәынкылара иабзоуроуп шәкыла аҭоурыхқәа.
Аҟарачқәа рнарҭ епос аҟны атиуркцәа рышьҭа даара ианыҧшуеит. Аҟарачқәеи абалкарцәеи рнарҭ епос аҟны зегь зымчу нцәахәуп – Теири, уи ажәҩангьы, амрагьы дрынцәахәуп атиурк хылҵшьҭра змоу ажәларқәа рҟны. Теири иҧа иоуп ажьира анцәахәы Дебет, мамзаргьы Нарҭаа раб ҳәа изышьҭаз. Дебет иоуп 19-ҩык аҧацәа змаз, урҭ Аликоваа рабшьҭраҿы раҧхьатәи Нарҭаа ракәхеит. Дебет иҧеиҳаб Алауган иоуп Нарҭаа рыжәла ахацыркҩыҵәҟьа. Уи быжьҩык иашьцәа, Нарҭаа рхылҵшьҭрақәа Схуртуковаа ирылҵыз Иориузмек иҭаирхеит, иаҳа еиҵыбӡа, Содзук иакәзар, дыхьчахеит. 

Изусҭцәада Нарҭаа?
Нарҭаа – зоуреи зыҭбаареи дуу, амч ду злоу фырхацәоуп. Зныктәи аҳәаҟьарала хра дук еиҩырсоит, знык ианыԥалак атыша ду иахыҧоит, ахыци ахәымпали рыла икылкааны ихысуеит, аҳәа акраҿы ирацлабуа дыҟам. Ганкахьала – ргәы ҭбаауп, игәымшәақәоуп, ифырхацәоуп. Даҽа ганкахьала – ауаҩытәыҩсатә цәаҩақәа рыцәтәымым: ашьыцра, ахыбаара, агәыҧжәара. Иара уи аамҭазы, рыиашьара ӷәӷәала еидҳәаланы иакуп. Аишьцәа раамҭа аиҳарак хьыӡрацарала имҩаҧыргоит: адауцәа-ауаажьыфацәеи, аҭакәажә омагеи, атәымқәылаҩцәеи, амаҭ дуқәеи ирабашьуан. Иқәыланы амал еидыркылоит, уаҩ дыззымиааиуа абаашқәа ргоит, анхарҭа-хыҵакырҭа змам ауаа рыхьчоит… Аибашьраҿы хьӡи-ҧшеи раагарала иҭәуп рыҧсҭазаара зегьы. Убас иҟоу хьыӡрацарақәа рыла ишьақәгылоуп Нарҭаа репос ихадоу асиужетқәа. 
Ажәа «нарҭ» хыҵхырҭас иамоу азы агәаанагарақәа рацәоуп. Аҵарауаа шьоукы ари ажәа ахурритцәа рҭыҧхьыӡ Нахриа иадҳәалоуп ҳәа ирыҧхьаӡоит. Егьырҭ изларыҧхьаӡо ала, ари ажәа аҧсуа хылҵшьҭра амоуп. Даҽа шьоукы ишьақәдырӷәӷәоит ажәа «нарҭ» амонголтә шьагәыҭ амоуп ҳәа – амонгол ажәа «нара» иаанагоит «амра», уи аҵыхәтәан иацлеит ауаҧс суффикс «т» – ахьыӡҟақәа рҿы арацәа хыҧхьаӡара арбага (ари аморфема ахархәарала иахьагьы ауаҧс бызшәаҿгьы ажәлақәа шьақәгылоит). Аха аҵарауаа реиҳараҩык ргәаанагарала, зегь реиҳа аҵабырг иазааигәоуп атермин аиран хылҵшьҭра амазаара. 
Аинтерес зҵоу акоуп, Нарҭаа рҳәамҭақәа рҟны адунеии ауаҩи шыҟалаз ҳәа рыӡбахә ахьҳәам, егьырҭ ажәларқәа репосқәа ракәзар, рдунеихәаҧшышьа инақәыршәаны адунеи аҟны аҧсҭазаара шышьақәгылаз атәы ҳәоуп. Нарҭаа ракәзар, адунеи аҟазаара рыдыркылоит аханатә иаҧу акеиҧш, убриоуп рдунеихәаҧшышьа шьаҭас иамоугьы. 

Алитература: АԤСУАА РФОЛЬКЛОР ҬЫРҚӘТӘЫЛАТӘИ АНҴАМҬАҚӘА. З. ЏЬ. ЏЬАПУА ИРЕДАКЦИАЛА. I аҭыжьымҭа. Н А Р Ҭ А А. Аҟәа, НААР-2014

АЗХЬАРҦШҚӘА




#Article 111: Апрезиденттә ҳәынҭқарра (1428 words)


Апрезиденттә ҳәынҭқарра (алатын бызшәа praesidens аҟынтә, ажәа президент иаанаго аҧхьа итәоу ауп) — ари ареспубликатә напхгараҭара аформақәа иреиуоуп. Уи убас еиҧш республикоуп, уа инхо ажәлар иалырхуа атәыла иреиҳаӡоу азакәанҧҵаратә орган мацара акәӡам, урҭ далырхуеит аҳәынҭқарра ахадагьы, уи аамҭаказы анагӡаратә мчрагьы хадас дамоуп.
Аиҳабыра ракәзар, апрезидент иҿаҧхьа аҭакҧхықәра рымоуп, урҭ аҭыҧқәа рызҭо, амаҵзура иахазыргыло, иамхтәу, иаҭатәу зыӡбо апрезидент иоуп. Атәыла ахада азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа авето рықәҵара. Иара убасгьы, атәыла ахада арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ иоуп. Апрезидент дызхагылоу атәыла жәларбжьаратәи арена аҟны ахаҭарнакс, ӡыргаҩыс дыҟоуп. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра аилыркаара
Адемократиатә дунеи аҟны анапхгараҭара аформақәа еиуеиҧшым. Ҧҟараны ишаҧҵоу еиҧш, аҳәынҭқарра напхгара азҭо иоуп аӡбамҭақәа рыдкыларагьы азин змоу. «Апрезиденттә ҳәынҭқарра» ахьӡ акәзар, уи зегьы аҳәоит. Уи азын Аконституциа аҧхьарагьы аҭахым. Ари аҳәынҭқарра хадара азиуеит апрезидент. Иара иоуп амаҵзуратә хаҿыс иҟоу, азинқәа зегьы змоу. Иара иоуп издызкыло зегь реиҳа ҵакы змоу аӡбамҭақәа. Жәаҳәарада, арҭқәа зегьы азакәанҧҵаратә актқәа ирнуп. Ус шакәугьы, иарбан ҳәынҭқарразаалакгьы аиҿартәышьа Аконституциа ауп ишьақәзыргыло. Ари азакәан аҟны иарбоуп аҳәынҭқарра аусушьа амеханизмқәа зегьы. Иара убасгьы, уа иазгәаҭоуп аӡбамҭақәа рыдкылашьа аиҿкаара, амаҵзуратә хаҿқәа, урҭ рнапаҵаҟа иҟоу уҳәа. Президенттә ҳәынҭқарраны иҧхьаӡоуп аҳәынҭқарра, уи ахадас иҟоу азинқәа зегьы имоуп. Ахада иоуп анагӡаратә мчра аусурагьы ҳәаақәызҵо. Иҟалалоит ус еиҧш аҭагылазаашьақәа, аамҭақәак рзы иара аминистрцәа реилазаарагьы напхгара анаиҭо. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдарақәа 
Ас еиҧш аҳәынҭқарра аиҿкаашьа аформа аҷыдарақәа иреиуоуп уи аӡәы дахьахагылоу. Ара амчра зегьы апрезидент иҟны еизакуп. Иара анагӡаратә мчра напхгара аиҭоит, аминистрцәа аиҭоит, урҭ рҟынтәи аҳасабрбақәа идикылоит. Абра идыртәу, апрезиденттә ҳәынҭқарра – ари теориатә еилкаароуп. Апрактика аҟны аусура амеханизмқәа зегьы аҭыҧантәи акониунктуреи атрадициақәеи ирхьырҧшны ишьақәдыргылоит. Иаагап ҿырҧштәыс аҳәынҭқарра ахада иалхрақәа. Мексика акәзар, Ахада иалхрақәа ишиашоу жәлары зегьы рыбжьаҭарала имҩаҧысуеит. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны ишиашоу акәымкәа, ажәлар ргәаҳәара нарыгӡоит. Уи иаанаго, ауаа дара ргәазыҳәара азгәаҭара «алхыҩцәа» ҳәа ззырҳәо ҷыдалатәи ауаа инарыгӡоит. Урҭ роуп апрезидентс иҟалогьы далызхуа. Даҽазныкгьы иазгәаҳҭап апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны алхрақәа рымҩаҧгашьа амеханизмқәа шеиуеиҧшым. 
Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хадақәа алаҳкаауазар, ара имҳәакәаны узаҩсуам апарламентнҭыҵтәи аҳәынҭқарра аҧҵашьа аформагьы. Фактны иазгәаҭатәуп атәыла Ахада шиакәу аминистрцәа азҭо. Дара иара иҿаҧхьа аҭакҧхықәра ду рыдуп. Иара убасгьы, апрезиденттә ҳәынҭқарра иаҷыда ҟазшьақәаны иҟоуп амчрақәа реихшара. Уи иаанагоит аҳәынҭқарра Ахада азин шимам апарламент аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра, аха апарламент иара аганахь ала аминистрцәа реилазаара ахь нырра амам. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҷыдара хада
Аҳәынҭқарра азакәанқәа урыламлакәан ус насҭха уахәаҧшуазар, уи анапхгараҭара аформа аилкаара даара иуадаҩхоит.  Апрезиденттә ҳәынҭқарра иамоу аҷыдара, убоит амассатә информациатә хархәагақәа иҟарҵо адырраҭарақәа рҟынгьы. Уи аҷыдара апрезидент далнакаауеит егьырҭ атәылақәа реиҳабыра рҟынтәи.
Аус злоу уи ауп, апрезидент ас еиҧш иҟоу аҳәынҭқарра аҟны алшара дуқәа ахьимоу ауп. Зегьыҵәҟьа ракәымзаргьы, лшарақәак рзынхоит апарламенти аиҳабыра реилазаареи. Аха урҭ еиҳарак аилацәажәаратә функциақәа роуп инарыгӡо. Иҟаҵатәу шыҟаҵатәу шьақәзырӷәӷәо апрезидент иоуп. Иара тәылақәак рҟны аҳәынҭқарра реиҳабыра напхгара риҭоит. Ас еиҧш аҭагылазаашьа ыҟоуп Беларусиа, Узбекисҭан, Ҟазахсҭан.
Ареспубликақәа рҟны ахада инапхгарала аколлегиалтә органқәа аус руеит. Уа аӡбамҭақәа ирылацәажәоит, аус рыдырулоит. Аха арҭ аӡбамҭақәа рыдкыларазы атәыла Ахада иажәа ауп ихадоу. Иара адокументқәа инапы рыҵаиҩуеит, иарбан органзаалакгьы зынагӡара хадараны иҟоу. Иара иоуп издызкыло амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа рҟынтә аҳасабрбақәа. Атәылақәа Уругваи, мамзаргьы Коста-Рика реиҧш иҟоу рҟны, аминистрцәа русуразы аҳасабырбақәа апарламент алахәылацәа роуп изызнарго. Дара роуп урҭ рамхразгьы азинмчы змоу. Аха, ас еиҧш ахҭысқәа ари аҩыза анапхгараҭара аформазы иҟазшьарбагам. 

Адемократиа апринципқәа рықәныҟәара
Ус еиҧш иунарбар ауеит, апрезиденттә республика ахьышьақәгылоу аҳәынҭқаррақәа тоталитартәуп ҳәа. Избанзар, уа амчрақәа рацәаны аӡәы инапаҟны иҟоуп азы. Ахаҭарнакратә орган аганахь ала ахылаҧшра, уи аусура акы иаҿырҧшуп. Аха ас еиҧш иҟоу аҳәынҭқаррақәа рконституциа аҟны иагәылоуп даҽа механизмк, адемократиатә принципқәа азгәазҭо.
Аус злоу алхрақәа роуп. Ишаҧу еиҧш, аҳәынҭқарра ахада иалхразы рыбжьы арҭоит атәылауаа зегьы. Даҽакала иуҳәозар, ауаа ирымоуп алшара, рыҧсҭазаара шықәсқәак ирылагӡаны изхьыҧшхо иалхра апроцесс анырра аҭаразы. Ҿырҧштәыс иаагозар, атәылақәа Мексикеи Мысреи (Египет) ртәылауаа алхырҭатә ҭыҧ аҟны рыбжьы ирҭоит зыгәра рго акандидат. Акандидатцәа ркадидатурақәа ықәзыргыло апартиақәа роуп, даҽакала иуҳәозар, хшыҩҵакык еиднакыло атәылауаа реилазаара.
Зынӡа даҽа механизмк азгәаҭоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа (США) Рконституциа аҟны. Ари атәылаҟны атәылауаа апрезидентрахь акандидат изы акәӡам рыбжьы зарҭо, ара рыбжьы зырҭо ауаҩы дара рыхьӡала аплебисцит далахәхоит. Ас еиҧш алхратә принципқәа инахыкәшаны имҩаҧырго ҳәа иашьҭоуп. 

Изеиҧшроузеи анапхгараҭатә форма Урыстәыла?
Ахыҵхырҭақәа рҟны ари атемазы аимак — аиҿакқәа цоит. Аӡәырҩы убас еиҧш агәаанагара рҳәоит – Урыстәыла — ари президенттә ҳәынҭқарроуп ҳәа. Даҽа џьоукы ишьақәдырҕәҕәоит атәылаҟны еилаҧсоу анапхгараҭаратә форма аҭыҧ амоуп ҳәа. Аха ара Аконституциа иазхьаҧштәуп. Азакәан хада, аҳәынҭқарра Ахада изинмчи истатуси, Афедералтә еизареи Урыстәылатәи Афедерациа аиҳабыреи ирызкыз аҟәшақәа анализ азызуз аҭҵааҩцәа лкаак иазааиуеит. Ари алкаа иаҳәо акоуп, Урыстәыла ари президенттә республикоуп. Уи Ахада даара иҭбаау азинмчы имоуп. Ас еиҧш алкаа ҟазҵо аҭҵааҩцәа раппонентцәа ишазгәарҭо ала, арҭ азинмчқәа Урыстәылатәи Афедерациа Ахеилак ҷыдалатәи аӡбамҭақәа рыла ишьақәнарҕәҕәар ауп.
Дара ззаиуа апрезидентбжатә ҳәынҭқарра ауп. Убри аан иҳәатәуп арҭ аспециалистцәа ас еиҧш атәылаҟны апарламент даара иҧсыҽуп ҳәа шырыҧхьаӡо. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҟны анапхгара
Ҳарзааҭгылап анагӡаратә мчрақәа русура апринципқәа. Уи, ишаҧу еиҧш, ауаажәларра рыҧсҭазаара ианыҧшуеит. Адемократиа апринцип убас еиҧш амчратә еилазаара азҧхьагәанаҭоит, уи амахәҭақәа дара-дара хылаҧшра анырзыҟарҵо. Ари аганахь ала апрезидентә ҳәынҭқарра идеалтәым.
Аус злоу, анагӡаратә мчра еснагь аҳәынҭқарра Ахада хылаҧшра ахьеиҭо ауп. Иара имоуп азин министрс рыҟаҵара изыманшәалоу ауаа. Урҭ рамхрагьы илшоит ауаажәларра ргәаанагара иахьмырҧшыкәан.
Абра иҳәатәуп, тәылақәак рҟны апрезидентә напхгараҭара аформа аҟны зыӡбахә ҳамоу ашьақәгылашьа аиҭакрақәа шалагалоу. Уа апарламент азин амоуп анагӡаратә мчра анырра аҭаразы. Ҿырҧштәыс иагозар – аиҳабыра рлахәылацәа русура хылаҧшра аҭара. Урҭ раҭаразы апарламент иазҵаатәызар, уи ус иагьыҟаҵатәуп азы, ара иузҳәом злеишәа ҕәҕәоу апрезиденттә ҳәынҭқарра аӡбахә. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә
Тәылақәак рҟны убас еиҧш анапхгараҭаратә форма аҭыҧ амоуп, аҳәынҭқарра Ахада амчратә зин амазаара ала зегьы данақәиҭу. Усҟан ауп апрезиденттә ҳәынҭқарра шьахә ҳәагьы аназырҳәо. Ара амчра аҽеиҩнашом. Аӡәы заҵәык иоуп амчра ахәҭақәа зегьы напхгара рызҭо, урҭ ыҟазар. Адемократиатә уаажәларра аҟны аус зуа асистема уи иаҟазшьаҷыдам. Апрезидент ишакәызаалак ныррак узиҭом. Ас еиҧш анапхгараҭара аформа мрагыларатәи атәылақәа роуп изҷыдаҟазшьоу. Ҿырҧштәыс лассы-лассы иааргоит Туркментәыла, мамзаргьы Латинтәи Америка атәылақәа.
Апрезиденттә республика аилкаара зынӡак иуадаҩӡам.
Ас еиҧш аилазаара аҟны аҳәынҭқарра Ахада акыр азинқәа рзы аҭакҧхықәрақәа идуп. Аха, усҟан адемократиа апринципқәа ирықәныҟәома, ирықәымныҟәома аилыргара аҭахуп, ишьақәгылоу иалкаау ҭагылазаашьак иахьырҧшны.
Аҳәынҭқарра аргылара – ари даара иацклаҧшны изызнеитәу усуп. Атрадициақәа рызхьаҧшра ари аус аҟны аҵак ду амоуп. 

Апрезиденттә ҳәынҭқарра ихадароу, даҽакы излаламҩашьо аҟазшьаҷыдарақәа
Апрезиденттә ҳәынҭқара ихадоу, даҽакы излаламҩашьо ҟазшьаҷыданы иамоуп (апарламенттә республика иаҿырҧшны уахәаҧшуазар) анагӡаратә мчра, уи ашьақәгылара, аҭагылазаашьа, аусура, аҭакҧхықәра азакәанҧҵаратә мчра иаҟәыганы иахьыҟоу. Арҭ аҳәынҭқарратә мчрақәа реизыҟазаашьақәа рсистема акәзар, шьаҭас иамоу наҟ-ааҟтәи аибакапанреи анагӡареи роуп. Абарҭқәа рҟынтәи ицәырҵуеит егьырҭ апрезиденттә ҳәынҭқарра акрызҵазкуа аҷыдаҟазшьақәагьы: апрезидентгьы, апарламентгьы алызхуа ажәлар роуп; апрезидент азин имам иара ианиҭахха аамҭазы апарламент иара аҿҳәара нҵәаанӡа аимырпра (аконституциатә ҧҟарақәа ирықәымшәозар), апарламентгьы аҳәынҭқарра ахада имаҵзура  дырзамхуам (аимпичмент рыларымҳәар), насгьы аиҳабыра рахь агәрамгара аарҧшны ҧхьатәара ирзышьҭуам; атәыла анапхгараҭараҟны ироль дууп  аҳәынҭқарра Ахада, уи лассы-лассы  аҳәынҭқарреи анагӡаратә мчреи  хадас дрымоуп; апрезидент ихаҭа иоуп аиҳабыра азҭо, насгьы ҧхьатәара изышьҭуа; аминистрцәа аиҭоит, иамихуеит; апрезиденти иара иеиҳабыреи апарламент аҿаҧхьа рполитикеи русуреи рзы ҭакҧхықәра рыдым (аиҳабыра ас еиҧш аҭакҧхықәра ахьрыду аҳәынҭқарра Ахада иҿаҧхьа ауп), апарламент акәзар, аминистрцәа азамхуам, дара азакәан еиларымгазар; апрезидент азин имоуп апарламент иаднакыло азакәанқәа аамҭала рыдкыларазы ахырҧара, аха апарламент иалшоит, иара аилазаараҿы иҟоу рыбжьқәа реиҳарала ас еиҧш аӡбамҭа аҧыхра; Иҟоуп ҭагылазаашьақәак, аҳәынҭқарра Ахада иреиҳау анагӡаратә мчра амаҵзурауааи аӡбаҩцәеи  раҭара аан апарламент, мамзаргьы апалата алахәылацәа  рақәшаҳаҭра аниҭаху; аҳәынҭқарра Ахада инапы зҵеиҩуа жәларбжьаратәи адокументқәа аратификациа азнаур ауп апарламент; аӡбаратә мчра хылаҧшра  анаҭоит аконституциеи азакәантә актқәеи рынагӡара, насгьы ишьақәгылоу азинмчы ақәныҟәара. 
Апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа еицырзеиҧшу ҳәаақәак ирҭаку аиҧшзаара шрымоугьы, иахьеиҧшымгьы ыҟоуп. Ҿырҧштәыс иаагозар (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Бразилиа), апрезидент ихаҭа аминистрцәа реилазаарагьы дахагылоуп, егьырҭ атәылақәа рҟны – аҳәынҭқарра Ахада инаиваргыланы иҟоуп — аиҳабыра, Аминистрцәа рхеилак, урҭ напхгара риҭоит аҧыза — министр (Урыстәыла, Мысра уб. егь.).
Еиду Америкатәи Аштатқәа, Нигериа уҳәа тәылақәак рҟны апрезидент аминистрцәа анеиҭо асенат ақәшаҳаҭра аҭахны иҟоуп, Бразилиа акәзар, ус еиҧш аҭахны иҟам. Акыр апрезиденттә ҳәынҭқаррақәа рҟны, азин ыҟоуп даҽа напхгараҭаратә формақәакгьы, иаҳҳәозар, аиҳабыреи аминистрцәеи апарламент ианахьыҧшу. Ас еиҧш иҟоу республикақәак рҟны дыҟоуп, иара убасгьы, аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыҧуаҩы (Еиду Америкатәи Аштатқәа, Мысра...).
Иара убасгьы, иумбарц залшом ҳәаак иҭакыу президенттә формак змоу аҳәынҭқаррақәа рҟынгьы Ахада имчра иаҵанакуа аиҧшымзаара ҕәҕәақәа анамоу. Усҟан аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟалоит иҷыдоу азин амазаара, даҽакала иуҳәозар, амчра зегьы уи амчра ду змоу апрезидент ҳәынҭқарра ҳәа азырҳәоит.
Лассы-лассы ас еиҧш аҭыҧ рымоуп хаз игоу, аҿиараҿы акыр еиҵаханы иҟоу латинтәи америкатәи, африкатәи, азиатәи атәылақәа рҟны, насгьы еиҳарак апрезидент имчра арратә хҳәарақәа ирыбзоураны иахьышьақәырҕәҕәаз, убасгьы аҳәынҭқарратә мчра адемократиатә традициақәа ирықәшәо иахьеиҿкаамыз атәылақәа рҟни, иахьа ҿыц адемократиа амҩа иқәлази (Урыстәыла, Узбекистан уб.егь.). 
Апрезиденттә ҳәынҭқарра бзиарас иамоу 
Апрезиденттә ҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә напхгараҭара аформак еиҧш иамоу ахаҭабзиарақәа азгәаҭамзарц залшом. 
Зегьраҧхьа иргыланы, ари аҳәынҭқарра амчра аихшаразы иҭышәынтәалоу аҭагылазаашьақәа аҧнаҵоит.
Иҩбахаз, ажәлар зегьы еицалырхуа атәыла Ахада атәыла акзаара дахаҭароуп, амилаҭ ракзаара дасимволны дықәгылоит…
Ахҧатәи, ари аформа иалнаршоит, атәыла аҿиара аан акризистәи аиасратәи етапқәа раан даара ихадоу, иреиҳаӡоу анапхгараҭаратә мчра анапык аҟны аагара, иаарласны, акрызҵазкуа амилаҭбжьаратә проблемақәеи рыӡбара, амчрақәа реизакра. 
Иҧшьбатәихаз, апрезиденттә напхгараҭаратә форма даара иарҧсыҽуеит лассы-лассы зҽызыҧсахуа апартиатәи афракциатәи еизыҟазаашьақәа, апарламент аусураҟны иуԥыло ацәырҵрақәа.
Убриаан иазгәоумҭарц залшом, апрезиденттә республика аҳәаақәа ирҭагӡаны ишазҳауа азакәанҧҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа реиҿагылара, еиҳаракгьы ас еиҧш аҭыҧ аиуеит апрактика аҟны иалху Ахада партиак ахаҭарнакс даныҟоу, апарламент адепутатцәа реиҳараҩык даҽа партиак, мамзаргьы блокк ианахаҭарнакцәоу. Аҵыхәтәаны иаагоу аҭагылазаашьа изныкымкәа аҭыҧ аман Еиду Америкатәи Аштатқәеи Урыстәылеи рҟны. 

 АЗХЬАРҦШҚӘА




#Article 112: Франц Фанон (645 words)


Франц Фанон (ԥхынгəы 20, 1925 ш., Фор-де-Франс, Мартиника — ҧхынҷкәын 6, 1961 ш., Еиду Америкатәи Аштатқәа) – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахҧатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәҧара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп. 

Анысмҩа 
Франц Фанон – францыз бызшәала ицәажәоз вест-индиатәи револиуционеруп, социалтә философуп, психоаналитикуп. Ахҧатәи адунеи атәылақәа аколониа рхыхразы ареволиуциатә қәҧара аиҿкаара ҿыцқәа ридеиатә гәышьҭыхцәеи атеоретикцәеи дыруаӡәкуп.
Франц Фанон диит Франциа иаҵанакуаз адгьылбжьаха Мартиника Карибтәи амшын аҟны. Иара дырхылҵшьҭроуп милаҭла еилаҧсоу аҭаацәара: иаб – африкатәи атәцәа дырхылҵшьҭроуп, иан – ганкахьала Страсбургтәуп, Ельзас иаҵанакуа. Мартиника адгьылбжьахаҿы зегьы иреиӷьыз аҵаратә усҳәарҭаҿы аҵара иҵон, Lycée Schoelcher, уаҟа рҵаҩыс диман еицырдыруаз апоет Еме Сезер.  

Аҩбатәи адунеитә еибашьра 
Аколониалтә ҿагыларазы Фанон игәаанагара шьақәырӷәӷәахеит Аҩбатәи адунеитә еибашьра ашықәсқәа раан. Анемеццәа Франциа ианақәла, 1940 шықәсазы Мартиника анхарҭақәа рҿы иҩназ авишисттә архәҭақәа амшынтә блокада иҭакхеит; ари аҩыза аҭагылазаашьаҟны лассы-лассы афранцыз солдаҭцәа рганахьала арасистә принципқәа рхы иархәаны ақәымчрақәа ҟарҵо иалагеит. Жәаа шықәса зхыҵуаз Фанон, аколониалтә расизм иреицәаз аформақәа зыблала избаз, адгьылбжьаха аҟынтәи дыбналеит британиатәи Доминикаҟа, уаҟа дрылалеит зхы иақәиҭу Франциа архәҭақәа. Убра иоуз аҧышәала анаҩс далалеит франциатәи ар реилазаара, дагьалахәын Франциа ахақәиҭтәра, хаҭала Ельзас имҩаҧысуаз аиҿахысрақәа. 1944 шықәсазы иоуз ахәра ӷәӷәа анаҩс ианашьан амедал Арратә џьар (Croix de Guerre). Аха Реин ианыр ашьҭахь Фанон дызлаз аполк «рыцқьан» арасатә еилыхрала: зцәа еиқәаҵәаз асолдаҭцәа зегьы, Францгьы убрахь дналаҵаны, шьҭахьҟа Тулонҟа идәықәҵан.  

Франциа

Алжир

Алжиртәи ареволиуциа ианалага анаҩс, 1954 шықәса, ноиабр мзазы Фанон иҽадикылеит ахьыҧшымразы алжиртәи аиҿкаара, 1956 шықәсазы «Воин» («El Moudjahid») аредакторс дҟалоит — Тунис иҭыҵуаз агазеҭ алжиртәи амилаҭтә хақәиҭра Афронт акьыҧхьтә ҭыжьымҭа хада. Абасала, Франц Фанон дҟалеит ФНО аидеолог хадас, ахьыҧшымразы алжиртәи ақәҧаҩцәа инарылукааша аӡәы иакәны. Уи аамҭа иалагӡаны, иара атәыла аҩныҵҟа акыр дныҟәеит, иҭиҵаауан алжираа ркультуратә, рыҧсихологиатә ҧсҭазаара.
Ааҧын, 1956 шықәсазы иҩит еицырдыруа «Аминистр-арезидент иахь ҧхьатәаразы ашәҟәы», уаҟа шьаҭанкыла мап ацәикит ифранцызтә ассимилиациатә ааӡареи аҵарадырреи. Уи иалҵшәаны 1957 шықәса, ианвар мзазы Блида иҟаз агоспиталь аркын, Фанон франциатәи амчрақәа Алжир далырцеит. Иара Франциаҟа дхынҳәыр акәхеит, уаантәи маӡала Тунисҟа дцеит.  1960 шықәсазы Алжир аамҭалатәи анапхгаҩы Аҳмед Бен Белла Фанон ареспублика Гана ацҳаражәҳәаҩыс дҟаиҵеит.  Цҳаражәҳәаҩык иаҳасабала иара дырҭаауан Аккра, Конакри, Аддис-Абеба, Леопольдвил, Каир, Триполи имҩаҧысуаз аконференциақәа. Ари аамҭазы иаҧиҵаз аҩымҭақәа еизгоуп иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыҵыз ашәҟәаҿы. Уаҟа Фанон иааиртуеит аибашьра атактикатә стратегиақәа: ахқәа руак аҿы иара далацәажәоит аибашьразы аладатәи афронт шаарттәу. 

Аҧсра
Ахҧатәи афронт аартразы Сахара дахысны иныҟәараан Фанон алеикемиа изцәырҵит. Тунистәи аспециалистцәа иҟарҵаз абжьгарала иара Асовет Еидгылахь даахьан аҽыхәышәтәразы. СССР данаҭаа ашьҭахь ичымазара маҷк ихьаҵит, уи иалнаршеит иполитикатә уасиаҭ ахыркәшара – еицырдыруа ишәҟәы «Проклятьем заклеймённые» («Les damnés de la terre». Аиарҭа дамахаанӡа, Франц Фанон Гардимао, тунис-алжиртәи аҳәааҿы амилаҭтә хақәиҭра ар афицарцәа алекциақәа дырзаҧхьон. Аҵыхәтәантәи ивизит мҩаҧигеит Римҟа, Жан-Поль Сартр иахь, игәабзиара анеиҭашәа Америкаҟа дцеит. Франц Фанон иҧсҭазаара далҵит 1961 шықәса, декабр фба рзы Вашингтон акалҭ аҿы (Колумбиа аокруг) Бетесд, Ибрагим Фанон ихьӡ шихыз. Иара анышә дамардеит Алжир мрагыларатәи ахәҭаҿы. 

Иаҧҵамҭақәа

Фанон изы Алжир аколонизаторцәа рыҟазаара ҵаҵӷәыс иаман арратә мчра. «Ари амчра аҿагылара амчратә ҟазшьа амазароуп, избанзар убри абызшәа мацаралоуп аколонизатор дызлацәажәо. Абасала, амчратә ҿагылара – ари ихымҧадатәу аколонистцәа аколонизациа зызу ирыдырҳәало акоуп», – абас иҩуеит ишәҟәы «Проклятые с Земли» аҟны.
Иҧсҭазаара иалҵра егьагымкәа, 1961 шықәсазы, акьыҧхь абеит «Проклятьем заклеймённые» захьӡыз ишәҟәы. Франциа зкьыҧхьра азин ыҟамыз ари ашәҟәы иабзоураны, Фанон аоппозициатә интеллектуалцәа рыхдырраҿы аҧааимбар иҭыҧ ааникылеит. 
Ажәлар рыргәаҟра аҭакс ареволиуциатә қәымчра ашәа азҳәо, Фанон анырра ӷәӷәа ҟаиҵеит Африкеи Латинтәи Америкеи рмилаҭ-хақәиҭратә еиҿкаараҟны еиҧш, мраҭашәаратәи атәылақәа ррадикалтә еиҿкаарақәа рҿгьы. Иҧсҭазаара даналҵ ашьҭахь иҭыжьын Фанон аҵыхәтәантәи иҩымҭа кьаҿқәа рыла ишьақәгылаз ашәҟәы-аизга — «К африканской революции». Фанон ари ашәҟәаҿы, егьырҭ инарываргыланы, арратә стратегны ихы ааирҧшит. Фанон ихшыҩҵакқәа аҿиара риҭеит Паулу Фреире. Иидеиақәа ирыцызҵо ҳәа рхы рыҧхьаӡон Апантера еиқәаҵәақәа.
Аколониализм апроблема – ари ауаҩытәыҩса иҟазшьа аҷыдарақәа иреиуоу аҧсымҭәра апроблема ауп. Афранцыз философ Жан-Поль Сартр, ихаҭа антиколониалтә позициа ааникылон, аколонизаторцәа рахь дшаҵанакуазгьы, иара даҧхьеит Фанон иҧсра шааигәахоз шидыруаз, иҧсҭазаара аҵыхәтәантәи жәамчыбжь ирылагӡан ииҩыз ашәҟәы. Уи ишьақәнарӷәӷәон ақәымчра шыҟаз. Франц инаҵшьны иазгәеиҭоит рыцҳара дуны ишыҟоу ананамгацәа рзыҟазаашьа, зегьы ззеиҧшу аколонизаторцәа рзы ақәымчра иаҭаху акәны иахьахәаҧшуа. Дара рыҧсҭазаара акагьы иаҧсаӡам, аколонизаторцәа рыҧсра иадкылан уахәаҧшуазар. 

Зыҧсы зхыҵуа аколониализм

АЗХЬАРҦШҚӘА




#Article 113: Ииаҵәоу аполитика (1102 words)


Ииаҵәоу аполитика — ари политикатә идеологиоуп, иара ззырхоу зекологиа ҭышәынтәалоу аилазаара аҧҵара ауп. Ииаҵәоу аполитика апринцип хадақәа иреиуоуп енваиронментализм, ақәымчымра, асоциалтә иашареи жәлар рдемократиеи. Ас еиҧш аполитика ашьақәгылара иалагеит 1970-тәи ашықәсқәа рзы, иахьатәи аамҭазы «аиаҵәақәа» рхатәы партиақәа аҧырҵеит акыр адунеи атәылақәа рҟны, ралхыҩцәа рыбжьара даара ақәҿиарақәа рыманы иҟоуп. 

Апринцип хадақәа
Британиатәи аиаҵәақәа ирылоу Дерек Уолл (англ. Derek Wall) игәаанагара ала, дара рпартиа иалнакаауеит ихадароу ҧшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа алахәылацәа.

Ииаҵәоу аполитика
Аполитикатә термин «ииаҵәоу» Германиа ицәырҵит (нем. Grün) 1970-тәи ашықәсқәа рзы, аекологиа ахырхарҭа змаз апартиақәа ралианс иабзоураны. Альтернативтә хьӡны Европа иара убасгьы рхы иадырхәон атермин «аполитикатә екологиа», аха анаҩс уи аполитикатә ҵакы ацәыӡит, анаукатә хырхарҭа мацара аанаго иалагеит.
Ииаҵәоу аполитика адгылаҩцәа акыр аидеиақәа еицеиҩыршоит, урҭ, ҳәарада, зегьы аекологиа, иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара, енваироментализм, афеминизм, апофицизм реиҧш иҟоу аилыркаақәа роуп. Жәлар рымчреи аекологиеи рызҵаарақәа рнаҩс, ииаҵәоу аполитика ауаажәларратә хақәиҭра, асоциалтә иашара, ақәымчымра, иналак-аалакны алокализм уҳәа реиҧш иҟоу азҵаарақәагьы ирызхьаҧшуеит, аха иааизакны апрогрессивизм иазааиуеит. 
Уи иалнаршоит аиаҵәақәа рпартиа арымаратәи аидеологиа адгылаҩцәа рыдыҧхьалара. Аиаҵәақәа рполитика, иара убасгьы, егьырҭ аекологиатә партиақәа ридеологиақәеи иареи аимадара рыбжьоуп, уахь иаҵанакуеит аекосоциализм, аекоанархизм, аекофеминизм. Ус шакәугьы, арҭ аполитикатә еилкаарақәа аиаҵәақәа рпартиа адкыларазы еиуеиҧшым агәаанагарақәа аҭыҧ рымоуп.  Аиаҵәақәа рполитика арымаратәи идеологиак аҳасаб ала аҿиара аиуа ианалага инаркны ицәырҵуа иалагеит арыҕьаратәиқәа рыбжьара антиподқәа. Дара, иааизакны иуҳәозар, еиҿагылоз аполитикатә дунеихәаҧшышьақәа шрымазгьы, арҭ аҵысрақәа ируасхырхеит, аиаҵәатә консерватизм, аекокапитализм, аекофашизм, иара убасгьы аекологиатә идеиақәа. 

Аилыркаара
 «Ииаҵәоу» апартиақәеи «аиаҵәақәа» рпартиеи рыбжьара аиҧшымзаарақәа ыҟоуп. Иарбан партиазаалакгьы, фракциазаалакгьы, мамзаргьы политикак «ииаҵәақәоу» ҳәа иазгәаҭазар рыӡбахә ҳәатәуп аекологиатә мзызқәа. 
Даҽа ганкахьала уахәаҧшуазар, формалла иаҧҵоу аиаҵәақәа рпартиа иаку, ирзеиҧшу идеологиак иқәныҟәозар алшоит, уи иаанагом иааҳакәыршаны иҟоу аҧсабара мацара ауп ҳәа уахь иаҵанакуа, уахь иаҵанакыр ауеит егьырҭ ауадаҩрақәагьы — асоциалтә иашамра, аколлегиалтә ӡбамҭа адкылара, апоцифизм. 
Аиаҵәақәа ргәаанагара ала, арҭ азҵаарақәа дара рыҧсабаратә хылҵшьҭрала еидҳәалоуп, урҭ адунеи зегь аҟны аҭынчра иашьаҭоуп. Хыхь зыӡбахә ҳәоу азы еицырдыруа акоуп ихадароу ҧшь-хырхарҭак, урҭ рыдыркылахьан 1979—1980-тәи ашықәсқәа рзы Ииаҵәоу анемеццәа рпартиа абзоурала. Аиаҵәақәа рыглобалтә хартиа анапхгараҭаратә принципқәа фба, урҭ иреиуоуп: аекологиатә ҟәыҕара, асоциалтә иашара зҵазкуа, адемократиа иалахәу, ақәымчымра, иҭышәынтәалоу аҿиара, насгьы аиҧшымзаара ҳаҭыр ақәызҵо роуп. 

Германиа аус ауеит зегь реиҳа адунеи аҟны иаарылукаартә иҟоу «аиаҵәақәа» рпартиа. Ари апартиа акоалициатә еиҳара иалоуп, Адәныҟатәи аусқәа рминистр, мамзаргьы Аҧсабарахьчара аминистр ари апартиа иалҵыз роуп. Арҭқәа ирыбзоураны «аиаҵәақәа» алшара рымоуп рекологиатә проектқәа раларҵәаразы, убри аан ҭынч егьырҭ аполитикатә мчрақәеи дареи реизыҟазааразы. «Аиаҵәақәа» акыр аихьӡарақәа рымоуп Финлиандиа, Франциа, Италиа, Бельгиа уҳәа реиҧш иҟоу атәылақәа рҟны — урҭ асоциал-демократцәеи дареи коалициак иалоуп. Австралиеи Еиду Америкатәи Аштатқәеи рҟынгьы аекологиатә традициақәа даара иҕәҕәоуп, аха араатәи «аиаҵәақәа» аполитикатә аренақәа рҟны иааира дуқәак рзымгеит. Иҳәатәуп убасгьы, «аиаҵәақәа» реихьӡарақәа шрыдҳәалоу дара ридеиақәа мраҭашәаратәи атәылақәа рекономика анырра ҕәҕәа ахьарҭаз. Дара ирыбзоураны афымцахьчаратә ргылара аиндустриа аира алыршан, еиуеиҧшым аалыҵқәа аҧсҭазаара ҿыц еиҭарыҭан, абылтәы, афымца уҳәа раҧҵаразы аиндустриақәа аҧҵан. 

Аиаҵәақәа рполитикатә партиақәа ааҧхьара ҟарҵоит асоциалтә еиҭакрақәа рымҩаҧгаразы, аҧсабаратә ресурсқәа цәгьашақә рхархәара аанкыларазы. Ас еиҧш ааҧхьара ҟазҵо рахь иаҵанакуеит иҳәынҭқарратәым аиҿкаара Гринпис еиҧш иҟоуи, егьырҭ аиаҵәақәа рпартиақәеи: 
Аполитика аҟны ииаҵәоу аҧшшәы аҵакы
Мысра аиаҵәа, мамзаргьы ашьацҧшшәы аҭоурыхтә ҵакы амоуп, Византиатәи аимпериа ахаан аахыс, иара аҧсҭазаара, аҿиара, аизҳара, ахақәиҭра уҳәа ирыҧшшәны иҧхьаӡан, аамҭак анаҩс апартиа «Мысразегьтәи асоциалисттә ҵысра» иаҧшшәхеит. Убриаан иазгәаҭатәуп ари аҧшшәы адунеи зегьы аҟны анеитралитети аҭынчреи уҳәа рыҧшшәны ишырыҧхьаӡо. Ҿырҧштәыс иаагозар, «ацәаҳәа иаҵәа» Кипри Беирути, аҩажәатәи ашәышықәса 60-тәии 90-тәии ашықәсқәа рзтәи атерминалогиа ала анеитралтә цәаҳәа аанагон. Иахьа акәзар, «аиаҵәақәа» анырҳәо ари, зегь раҧхьа иргыланы, ауаҩы ихаҿы иааиуа аекологиатә ҵысрақәеи апартиақәеи роуп, даҽакала иуҳәозар, ашьацҧшшәы — аҧсҭазаара, насгьы агармониатә ҿиара иаҧшшәны иҧхьаӡоуп. 

Ирҳәоит аҿара иаҵәоуп ҳәа. Ари аҭагылазаашьа аҟны ас еиҧш ажәеицааира даара ианаалоит. Уи зыхҟьо «аиаҵәақәа» апрогрессивтә ҿар иахьрылҵыз ауп. Урҭ рпрограммақәеи русқәеи, еиҳаракгьы ҿыц аҧшьгарақәа раан, 60-тәи ашықәсқәа рзы абунтартә ҟазшьа рнубаалон.
Арҭ ашықәсқәа рзы Германиа аҿар активла рабшьҭрақәа акритика рзыруан, афашизм аҿаасҭарақәа ахьаҧдмырҟәҟәааз азы, аибашьра ашьҭахьгьы дара «Ахҧатәи ареих аимшьҭра» изацәцомызт. Ари ахырхарҭаҟны иалкаахаз анемец студентцәа рсоциалисттә Хеилак аҧхьагылас дыҟан Руди Дучке, иара иакәхеит анаҩсан «аиаҵәақәа» рпартиа аҧҵаҩысгьы иҟалаз. Иџьашьатәӡам ари апартиа «анти» шацыз: анти-идеологиатә, анти-тоталитартә, џьара-џьара анти-партиатә. 

Анемеццәа роуп «аиаҵәақәа» рпринцип хадақәа раҧхьаӡа акәны иалызкааз. Уи иахьӡын «Четыре столпа Зеленой партии». Аекологиа, аекологиатә ҟәыҕара, арҭқәа «аиаҵәақәа» рполитикатә программа ахәҭақәак ракәын. Уи анаҩсгьы, апартиа иаҵанакуан асоциалтә иашара, ақәымчымра, аҭынч ргылара, аглобалтә шәарҭадара аҧызҵоз, насгьы апартисипативтә демократиа.
Аҵыхәтәантәи ажәеицааира дарбанызаалак даршәар алшоит, аха аусқәа ус иҟам, апартисипативтә демократиа ҳәа иҧхьаӡоуп «атәылауаа зегьы рдунеихәаҧшышьа аарҧшра ахьрылшо, насгьы аекологиатә, аекономикатә, асоциалтә, аполитикатә, дара рыҧсҭазаара иахьыҧшу аӡбамҭақәа рыдкылара».
Аамҭак анаҩс, «аиаҵәақәа» егьырҭ атәылақәа рҟны ари асиа хадырҭәааит абас еиҧш иҟоу аилыркаарақәа рыла, аҭышәынтәалара, мамзаргьы иҭышәынтәалоу аҿиара, аиҧшымзаара, аҳаҭырқәҵара. Арҭ апринципқәа «аҧсабара ахаҭа ҳамҭас иҟанаҵаз», аӡәы зынӡа иҧсабаратәым ҳәагьы иҧхьаӡар алшоит. Избанзар, урҭ ргәаанагара ала, ақәымчрада аҧсабара ухахьы иузаагом, апартисипативтә демократиа акәзар, уи аҵакы абнатә ҧстәқәа зынӡагьы ирзеилкаауам. Егьа ус акәзаргьы, аҧсабара даара еиҷаҳарала азныҟәара — «аиаҵәақәа» иузрымхуам.
Ишыҟазаалак, «аиаҵәақәа» рҵысра азы аҭҵааҩцәа гәаанагарак иазааит, дара идеологиатә базак рымам. «Аиаҵәақәа» ирҳәо аидеиақәа ракәзар, еиҳа ииашан ицәаҩашәоу принципқәоуп ҳәа рызҳәара, абра иазгәаҭатәуп урҭ апринципқәа хыҧхьаӡара рацәала ауаа ишрыцеиҩыршо. 

Гринпис

Гринпис акоммерциатә еилазаарақәеи аиҳабыреи ирхьыҧшым, иара иамам еснагьтәи аҩызцәа, мамзаргьы аҕацәа. Гринписаа апланета аресурсқәа рхархәаразы ирыҧшаауеит, насгьы иҭарыҩуеит, иркьыҧхьуеит аексперттә информациа. Гринпис анаукатә центр аҧҵоуп ақалақь Ексетер (Британиа Ду) иҟоу ауниверситет аҟны, насгьы анаука-ҭҵааратә дгылара рзыҟанаҵоит адунеи зегьы аҟнытә апроектқәа.
Гринпис аус рыцнауеит атәылақәа реиҳабыреи жәларбжьаратәи аҳәынҭқаррабжьаратә еиҿкаарақәеи (ООН, ЕС, ЕАЭС). Ари аиҿкаара Урыстәылатәи аҟәша адиректор, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иаҧҵоу ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Ахеилак далоуп. 

Гринпис аофисқәа адунеи аҟны
Гринпис амилаҭтә офисқәа аартуп адунеи 43 тәыла рҟны, дара аӡәы ихьыҧшым, аус руеит рмилаҭтә проектқәа рынагӡаразы. Ас еиҧш аҟәшақәа напхгаҩцәас анагӡаратә директорцәа рымоуп. Иаку аполитика, насгьы жәларбжьаратәи апроектқәа рыстратегиа, есышықәсатәи анагӡаратә директорцәа злахәу Гринпис аиҧылараҿы ирылацәажәоит.
Еиуеиҧшым апериодқәа рзы Гринпис еиуеиҧшым апроблемақәа ҭнаҵаауан, урҭ ауаажәларра азхьаҧшыртә иҟанаҵон. Иаҳҳәозар, аиадертә ҧышәарақәа ирҿагылаз акомпаниа 25 шықәса имҩаҧысуан, 1971 шықәса инаркны 1996 шықәсанӡа, иагьхыркәшан Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра ала, уи иазгәанаҭон аиадертә ҧышәарақәа раанкылара. Антарктика ааглыхратә хархәара аҟнытә ахьчаразы Гринпис алахәылацәа иҵааршәыз ацәҳәыраҿы алагер аҧырҵеит.
Ари алагер хәышықәса уа иҟан, 1991 шықәса рзы ихыркәшан, 39 тәыла ҩынҩажәи жәаба шықәса ҿҳәарас иаҭаны ари аконтинент аҟны амаденқәа рыҧшаара мап ацәкразы адгылара анарҭа. Антарктика аҵакырадгьыл аӡәгьы итәымкәа иаанхеит, иара ауаатәыҩса зегьы ирмазарахеит. 
Гринпис 25 шықәсатәи аусуреи ацхыраареи ирыбзоураны Урыстәыла иаҧҵан аҳәырҧссаррақәа 2, амилаҭтә паркқәа 4, 8 ҵакырадгьылк ИУНЕСКО Адунеизегьтәи аҧсабаратә имшьҭра астатус рыҭан. Гринпис егьырҭ акоммерциатә еиҿкаарақәеи ирыбзоураны аӡиа Баикал зырхәашьуаз ацеллиулоза-қьаадтә комбинат аусура аанкылан, Кавказтәи аҳәырҧссарра аҧсабара лыҧшаах иаҧырхагаз, Шәача аолимпиатә обиектқәа рыргылара аанкылан.
Greenpeace хылаҧшра анаҭоит аҧсабарахьчаратә закәанқәа иахәҭоу аҵакырадгьылқәа рыхьчара иазықәҧалартә аҟаҵара, изныкымкәагьы ари азакәан аиҭакрақәа алагалара аҧдырҟәҟәаахьеит, избанзар ус еиҧш аиҭакрақәа аҧсабара ахьчара дырҧсыҽыр алшон. Гринпис ихацнаркыз апроект ала аусура хнаркәшоит иззыҧшу алҵшәақәа ианрызнеилак, мамзаргьы иҟоу апроблема ауаажәларра рҟынӡа ианнаргалак, уи аӡбаразы ауаа анеидгылалак.
Уажәы Гринпис аусура даҽа ихадоу ҩ-уск ирзырхоуп – аклимат аҧсахреи абиоеилазаара рацәа аиқәырхареи.
Гринпис шьақәгылоуп атәылауааи ахатәы хаҿқәа ргәыҳалалратә фондқәеи рлагалақәа рыла, иара аҳәынҭқарратәи акоммерциатәи еилазаарақәа, аполитикатә партиақәа рҟнытә аҧарақәа аднакылом. Иара убасгьы, Гринпис ахықәкы азнеиразы изакәызаалак ақәымчра аформақәа ахархәара рынаҭом. 

АЗХЬАРҦШҚӘА




#Article 114: Афундаментализм (1437 words)


Афундаментализм – ари Амассатә информациа ахархәагақәа рҟны, еиуеиҧшым адинхаҵарақәа рымҩаԥысшьа азгәазҭо, ҳаамҭазтәи ареалиқәа рыла иарбанызаалак алагалаҿыцқәа ирҿагыло, насгьы ашьҭрақәлаҩцәа аханатәтәи адинхаҵара разыргьежьра зҽазызкуа еилкаароуп.

Алаҭын бызшәа аҟынтә иаагоу ажәа афундаментализм (Fundamentum) иаанагоит адинхаҵаратә, афилософиатә, аморалтә, асоциалтә ҵысрақәа рыхьӡ еидызкыло. Афундаментализм иаҿадыргылоит асекулиаризациеи аглобализациеи рыпроцессқәа. Аханатә афундаментализм анцәырҵ ҵакыс иаман иҧшьоу аҩырақәа ирну ишаныҵәҟьоу раҧхьареи, реиҭагареи. Аха анаҩс афундаментализм аҳәаақәа рыҽдырҭбааит, еиуеиҧшым адинхаҵаратә ҵысрақәеи аконцепциақәеи аҵанакра иалагеит. Раҧхьаӡа акәны афундаментализм аконцепциеи уи ажәеи рхы иадырхәо иалагеит апротестанатә еиҿкаарақәа ианрылацәажәоз Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы. Анаука знапы алакым ауааҧсыра зны-зынла афундаментализми афанатизми акакәны ирыҧхьаӡоит. И. В. Кудриашова афундаментализмтә ҵысра ҩ-хкык рыла илшоит: раҧхьатәи агәыҧ ахь иаҵанакуеит авраамтә (авраамические) динхаҵарақәа шьаҭас измоу аҵысрақәа, аҩбатәи — индуизми буддизми рҿы ицәырҵыз. Иааизакны афундаменализм иаанаго уалацәажәозар, иара шьақәгылоуп иуҧсахыр иҟамло апостулатқәеи, атрадициақәа зыҧсахуа аҿыц лагалақәа рҿагылареи рыпринципқәа рыла. Иара убас, ари аҵысра иадырҳәалоит атрадиционализми аконсерватизми. Лассы-лассы ажәа аҵакы ибзианы иззымдыруа афундаментализм адырҳәалоит адинхаҵара, еиҳараӡак амсылманра. 
Иҟоуп афундаментализм еиуеиҧшым ахкқәа: аҳәынҭқарратә, амилаҭтә, аџьармыкьатә, афеминисттә, аекологиатә уҳәа егьырҭ. Урҭ еиуеиҧшым афундаментализм ахкқәа еицырзеиҧшу шмаҷугьы, еидызкыло ыҟоуп. Уи иадгылоу еснагь иаадырҧшуеит ақәҧаратә идеологиа, урҭ рхатә иашара мацароуп зыгәра рго. Иара афундаментализм атермин ахаҭа еиҳа анегативтә форма амоуп, уи рхы иадырхәоит адогматизм иаҿдырҧшуа апроцессқәа ианрылацәажәо. Уахь иаҵанакуеит амч ахархәара аметодқәа, авторитарра ианалацәажәо. Убри аангьы афундаментализм иаанагозар ҟалоит апринципқәа рықәныҟәара, ахы амеигӡара. Иҟоуп аспециалистцәа, «мраҭашәаратәи адемократиа» аполитикатә фундаментализмны изыҧхьаӡо. С. Хатингтон 90-тәи ашықәсқәа раан иқәиргылаз «ацивилизациа реиҿагылара» ҳәа хьӡыс измаз атеориала, 21-тәи ашәышықәса акультурақәа аҧыжәаразы реиҿагылара иаамҭаны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон автор. Даҽакала иуҳәозар, уи аҵысра еиуеиҧшым ацивилизациақәа рҿы аҧыжәара агаразы ахықәкы ахьамоу, адунеи афундаментализм иалаӡоит ҳәа агәаанагара иман Хатингтон. Ацивилизациақәа акоммуникациа ахьрымам иахҟьаны рымҩақәа еиҳа-еиҳа еицәыхарахоит. Аконфликттә ҭагылазаашьа аҧсҭазаара иашьашәаланы иҟалеит. Ацивилизациатә процессқәа ирыдҳәалоу атәылақәа уи Хатингтон дызлацәажәоз амодель ишаҳәо еиҧш лассы-лассы рхы мҩаҧыргоит. Хаттингтон игәаанагарала, ацивилизациатә еиҧшымра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахо иалагоит, анаҩсгьы еиҳа амч змоу ацивилизациақәа рыбжьара аконфикт аҽарҭбаауеит. Аҧхьаҟагьы урҭ еиҿамгылар залшом, еиҳарак аконфликт ҟалоит мраҭашәаратәи ацивилизациеи егьырҭ акультурақәеи рыбжьара.  Хаттингтон иажәақәа ацәажәарақәа рацәаны иахылҿиааит, аха уажәтәи аамҭазы иубаратәы иҟоуп усҟан аполитолог дызлацәажәоз аиҳарак ииҳәоз шыҟалаз.
Аҵарауаҩ Т. Маиер ишиҳәо ала, «аидеологиақәа реибашьра ацивилизациақәа реибашьра амҩа иацнаҵоит». Уи ихьшәашәоу еибашьроуп макьана. Аха адунеи еидызкыло аидеиа анацәыӡ, ацивилизациақәа иаарту аиҿагылара ашҟа иианагар алшоит. Уи еиҳа еицәоу аибашьра ахылҿиаар ҟалоит ҳәа агәаанагарагьы имоуп аҵарауаҩ. Хыхь зыӡбахә ҳамаз америкатәи аполитолог С. Хатингтон иҧхьаӡоит аҧхьаҟа иҟалараны иҟоу аибашьрақәа атәылақәа рыбжьара акәӡам иахьыҟало ҳәа, уи акультурақәеи ацивилизациақәеи рыбжьара ауп иахьымҩаҧысло. Убри аан амсылманратә екстремизм адунеи аҿы зегь реиҳа узыцәшәаша шәарҭараны иҟалоит ҳәа азгәеиҭон иара. Уи аидеиа, иара, астудентцәа алекциа данырзаҧхьоз ирыдигалеит 1992 шықәсазы Америкатәи анапалакратә институт аҿы. Анаҩс уи иусумҭа иациҵоит «1993-тәи ашықәс азы атәым усқәа» («Иностранные дела 1993 года») ҳәа хыс измаз иҩымҭаҿы. Анаҩс уи идиссертациагьы иациҵоит иҩымҭақәеи ишәҟәқәеи рҿы. 

Афундаментализм адинхаҵараҿы:
Ақьырсианратә фундаментализм
Ақьырсианратә фундаментализм ршоит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла апротестантәи, акатоликатәи, аиашахаҵаратәи ҵысрақәа ҳәа.   
Ноам Хомски иҳәон: «Еиду Америкатәи Аштатқәа руаажәларра Саудовтәи Аравиеи ауаажәларра Талибани раасҭа еиҳа афундаментализм рыларҵәаны иҟоуп» ҳәа. 

Ақьырсианратә фундаментализм
Ақьырсианратә фундаментализм ацәырҵра апротестантизм иадҳәалоуп. 1895 шықәсазы Ниагара-Фоллс ақалақь аҿы имҩаҧысуаз Иҧшьоу аҩыра иазкыз аконференциаҿы гәыҧҩык апротестанттә пасторцәа иаҧшьаргеит аконцепциа ҿыц апринципқәа рыдкылара. Апринципқәа иреиуан: Иҧшьоу аҩыра ишаныҵәҟьоу адкылара, Иаса Қьырса доуҳала иира, Иаса Қьырса агәнаҳара ҟазҵаз рзы иҧсра, Иаса Қьырса игылара, Иаса Қьырса адгьыл ахь ихынҳәра. 1910 шықәсазы Апресвитериантә ассамблеиа хадеи егьырҭ еиуеиҧшым аконсервативтә динхаҵаратә еиҿкаарақәеи арҭ апринципқәа ирықәшаҳаҭхоит. 1919 шықәса раахыс аус ауеит Адунеизегьтәи афундаменталистцәа рассоциациа, 1948 шықәсазы уи ахьӡ ҧсаххоит Жәларбжьаратәи ақьырсианратә уахәамақәа рхеилак ҳәа. 1920-тәи ашықәсқәа рзы афундаменталистцәа анаукатә аарҧшымҭақәа ирҿагылоит, еиҳарак Дарвин аеволиуциазы итеориа. Урҭ рықәгыларақәа ирыбзоураны 1921—1929 шықәсқәа раан Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ирыдыркылеит Дарвин итеориа аҳәынҭқарратә школқәа рҿы дырҵара азин амызхуа азакәанқәа. Уи апроцесс «Батлер иакт» ҳәа ахьӡ аиуит. 1925 шықәсазы ирыдыркылаз азакәын ала, ашколқәеи иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәеи рырҵаҩцәа азин рымаӡамызт ауаҩы иеволиуциа иадҳәалаз Дарвин итеориа ахәыҷқәа дырҵареи Иҧшьоу аҩыра иану мап ацәкреи. 1940-тәи ашықәсқәа раан афундаменталистцәа уи ақәҧараҿы иаҵахеит. Анаҩс иара афундаментализм аҩныҵҟагьы еиуеиҧшым аҵысрақәа цәырҵуеит. 

Аиашахаҵаратә фундаментализм
Иҟоуп авторцәа, Урыстәыла аиашахаҵаратә фундаментализм ыҟоуп ҳәа зыҧхьаӡо. Уи 19-тәи ашәышықәса алагамҭазы ицәырҵит ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Уи аҵысра аганахь ала ауаажәларратә интерес иацлоит 1980—1990-тәи ашықәсқәа раан иҟаз аполитикатә ҭагылазаашьа иахҟьаны. Урыстәыла ишьақәгылаз адинхаҵаратә фундаментализм иашьаҭаны иҧхьаӡоуп аекуменизм аҿагылара. Уи иаанагоз еиуеиҧшым ақьырсианратә ҵысрақәа реидгылара аҿагылара, алибералтә идеиақәа рықәымныҟәара, иара убас иаарту акритика аарҧшра. Ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аиашахаҵаратә фундаментализм х-компонентк алукаар алшоит: 

Урыстәыла иҟоу аиашахаҵаратә фундаментализм адгылаҩцәа рҳәынҭқарра аҿиаразы ахатә амҩа амоуп ҳәа рыҧхьаӡоит. Ари аҵысра амчқәа хоуп аҳәынҭқарра аполитикатәи асоциалтәи ҧсҭазаараҿы ароль ӷәӷәа ааннакыларазы. 

Акатоликатә фундаментализм
Акатоликатә фундаментализм ақьырсианраҿы еиҳа иӷәӷәоу ҵысраны иҟоуп. Уахь иаҵанакуеит 1970 шықәсазы Марсель Лефевр еиҿикааз «Иҧшьоу Пи ииашьара» ҳәа хьӡыс измаз аиҿкаара. 

Амсылманратә фундаментализм
Амсылманратә фундаментализм адгылаҩцәа Аҟәырҟан аҩыра апринципқәа ишаныҵәҟьоу рықәныҟәара акәын хықәкыс ирымаз, иара убас амсылманцәа иртәу адгьылқәа аколонизаторцәа рҟынтәи ахы ақәиҭтәра. Џьон Еспозито иусумҭақәа рҿы иҩуан: «Амилаҭтә ҳәынҭқаррақәа еиҳа-еиҳа рымчқәа маҷхоит, амсылманратә ҳәынҭқаррақәа рҭагылазаашьа цәгьоуп, уи зыхҟьо амсылманцәа анцәа дахьырцәыӡыз аҟнытә ауп. Арҭ аҳәынҭқаррақәа руааҧсыра Мраҭашәаратәии Мрагыларатәии ридеологиақәа еиҳа-еиҳа ирыдгыло иалагоит». Аха иҟоуп амсылманра здызкылаз атәылақәа рҿы афундаментализм ихадоу идеологианы иахьыҟоу, уахь иаҵанакуеит Исламтәи Ареспублика Иран. Ҳәынҭқаррақәак рҿы афундаментализм аҵысра аппозициак аҳасаб ала иҟоуп, иара убас атерроризм аметодқәа зхы иазырхәогьы уҧылоит. Амсылманратә фундаментализм шьаҭасны иамоуп аполитикатә мсылманра (исламизм). Аглобализациатә процессқәа ирыдҳәалоу асоциалтә еиҟарамра амсылманратә фундаментализм аидеологиа ахылҿиаауеит ҳәа рыҧхьаӡоит уи апроцессқәа ҭызҵаауа реиҳарак. Иара амсылманратә фундаментализм ахаҭаҿгьы иҟоуп еиуеиҧшым аҵысрақәа, еиҳа иӷәӷәоу ируакуп адунеи иалаҵәахьо ваххабизм ҳәа изышьҭоу аҵысра. Иара шьаҭас иамоуп амсылманраҿы иҿыцу ацәырҵрақәа зегьы мап рыцәкра. Дара егьырҭ адинхаҵарақәа рганахь ала ачҳара аадырҧшӡом, агрессиатә ҟазшьа ахьрымоу аҟнытә. Еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҿы урҭ аиҿкаарақәа изакәаным ҳәа иҧхьаӡоуп. 
Уажәтәи аамҭазы агеополитикатә еицлабраҿы зегь реиҳа иҿырҧшыгоу афундаменталисттә ҵысраны иҧхьаӡоуп амсылманратә фундаментализм. Уи атоталитартә политикатә идеологианы иҟоуп. Еиҳа ишәарҭахоит ари аҵысра, уи адгылаҩцәа иаартны аибашьратә методқәа рхы иархәаны мраҭашәаратәи аидеологиа ианаҿагылоу. Ҿырҧшыгас иааугар ҟалоит «Боко харам» ҳәа хьӡыс измоу нигериатәи атеррористтә еиҿкаара. Уи ахьӡ еиҭаугозар иаанагоит «Мраҭашәаратәи аҭҵаарадырра мап ацәкра» ҳәа. Аиҿкаара хықәкыс иаман амсылманратә кодекс шариат анормақәа ршьақәыргылара. «Боко харам» адгылаҩцәа Нигериа аҩадатәи ахәҭа рнапаҿы иааганы ирымоуп, лассы-лассы атеррористтә гәыҧқәа рцәырҵрақәа ирыхҟьаны уи аҭыҧ шәарҭаны иҧхьаӡоуп. Ус 2014 шықәсазы аиҿкаара аибашьцәа ашкол иҭаз аӡӷабцәа ӷьычны мчыла хаҵа ирышьҭит. Ус дара ауааҧсыра рыпринципқәа мчыла ирыладырҵәоит.
Аха амсылманратә фундаментализм даҽа ганкахьала уахәаҧшыргьы алшоит. Аҳәынҭқарра аргылараҿы ароль ӷәӷәа амазаргьы алшоит амсылманратә фундаментализм, еиҳараӡак аекспорт зхы иазырхәо аҳәынҭқаррақәа рҿы. Ус афундаменталисттә принципқәа анефт зҭиуа аҳәынҭқаррақәа рҿы идеологиа хадас ирымоуп. Араҟа амсылманратә фундаментализм асоциалтә еиҟарамра аҿагыларазы алҵшәа амоуп. Афундаменталисттә идеиақәа амсылманра ахаҭагьы аҧсахрақәа аланагалеит, ауаажәларра рхәыцраҿгьы аҭыҧ ҷыда ааннакылеит. Еиуеиҧшым амсылманратә ҵысрақәа ирыдгылоу ауаа зегьы еицырзеиҧшны иҟоуп аҿыцрақәа ралагала мап ацәкразы агәаанагара.  

Асоциал-економикатә мзызқәа рыдагьы, афундаментализм ацәырҵра асоциал-ԥсихологиатә мзызқәагьы ыҟоуп. Германиатәи аԥсихолог Д. Функе иажәақәа рыла, «афундаментализм аисберг ахықәцә ауп, уи ашәарҭадара агәхьаагара ауп изыдҳәалоу».
Афундаментализм аларҵәара амзызқәа: 1) адинхаҵарақәа рыҩныҵҟа амодернистәи аконсервативтәи процессқәа реиҿагылара; 2) ауаажәларраҿы адинхаҵара ароль амаҷхареи акультуратә процессқәеи рымҩаҧысреи; 3) аглобализациа аҿагыларазы ицәырҵуа аҵысрақәа; Афундаментализм аларҵәараҿы адинхаҵаратә процессқәа рыдагьы, иҟан даҽа мзызкгьы. Адунеи аҿы имҩаҧысуаз асоциал-економикатәи, аполитикатәи аиҿасрақәа раан аглобализациеи асекулиаризациеи рыпроцессқәа еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон. Иҟан адинхаҵареи аҳәынҭқарреи реидыхра згәамҧхоз, ауаа рхатә зинқәа рыхьчара мап ацәызкуаз ауааҧсыра. Иҿыцу аҭагылазаашьақәа рҿы, модернизм ацәырҵраан, аҳәынҭқаррақәа рнапхгаҩцәа урҭ апроцессқәа ирҿадыргылоз ак рымазар акәын. Афундаментализм аҿагыларатә идеологианы иалырхуеит. Раҧхьаӡа акәны афундаментализм цәырҵит Еиду Америкатәи Аштатқәа, уаҟа 1910–1912 шықәсқәа рзы хәыдаҧсада ауааҧсыра ирыладырҵәон афундаментализм аидеиа атәы зныз абӷьыцқәа. Уи ауааҧсыра рнапаҿы ирырҭон. Аидеиақәа рыларҵәан раҧхьаӡа акәны еиҳарак аладатәи аштатқәа рҿы, анаҩс, 1950-тәи ашықәсқәа раан, афундаменталистцәа активла ридеиақәа аҵарадырратә процесси амассатә информациатә хархәагақәеи рхы иархәаны рӡыргара иалагеит. 
Изеиҧшразаалак акультура ахаҭа амч ахархәара апринцип алаӡам, аха аиҧшра бааҧсыла ашьҭалара, акультура еизакны, ма уи ахәҭақәа рҿы ицәырнагар алшоит ачҳара ацәыӡреи амч ахархәареи аидеологиа. Уи ҭызҵаауаз аҵарауаҩ Томас Меиер ихәыцит атермин «аиԥшра бааҧсыла ашьҭалара». Уи атермин акультуреи адинхаҵареи аполитикахь рыиагара амеханизм аилкааразы рхы иадырхәоит. Урҭ апроцессқәа афундаментализмгьы лассы-лассы иахылҿиаауеит. Ҳаамҭазтәи афундаментализм еиҳа аҵак ду змоу асоциал-политикатә феноменны иҟоуп. Америкатәи афундаментализм аҭоурых ҭызҵаауа аҵарауаҩ Г. Марсден афундаментализм Америка амҩаҧысшьа амҽхак ус ахәшьара аиҭеит: «Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы иахьышәҭаху аҭыҧ аҟнытә ишәыршәыр акәтаӷь, хымҧада афундментализм иадгыло аӡәы иқәшәоит» ҳәа. Уи иаанагоз аконсервативтә, афундаменталисттә идеологиа иадгылоз уа даара ишырацәаз акәын. 

Иудеатәи афундаментализм. Ари аҵысра аларҵәара амоуп Израиль. Уаҟагьы, егьырҭ адинхаҵаратә фундаменталисттә ҵысрақәа рҿеиҧш, иудаизм азакәанқәа рықәныҟәаразы ақәҧара иадҳәалоуп уи аҵысра.  Уи адгылаҩцәа гәыҧқәаки амилициатә усзуҩцәеи рыбжьара изныкымкәа аидысларақәа ҟалахьеит. Иҟоуп, иара убас, арадикалтә ҟазшьа змоу аиҿкаара Нетуреи карта», уи Мессиа адгьыл ахь дылбаанӡа иахьшьақәгылаз аҟнытә, Израиль зынӡа ҳәынҭқарроуп ҳәа изымҧхьаӡо.  

Аҵарауаа иалыркаауеит даҽа адинхаҵарахь иаҵанамкуа афундаменталисттә ҵысрақәак аҳәынҭқарра-политикатә, аекономикатә, аекологиатә, афеминисттә, амилаҭтә уҳәа егьырҭ. Арҭ аҵысрақәа зегьы еидызкыло шьаҭасны иҟоуп аҭышәантәалареи иашаки рзы ақәҧара. Афундаментализм ҳәа азырҳәоит изеиҧшразаалак абсолиутла иашарак иазнеиуа аидеологиа.  
Афундаментализм акритика: Афундаментализм акритика азызуа ирҳәоит, уажәтәи ауаа ижәытәӡоу аҩырақәа ииашаны еилыркааразы урҭ злаҩыз абызшәа бзиаӡаны ирдыруазар ауп ҳәа. Уи ада аинтерпретациақәа ҟамлар залшом, иахьанӡа иаҳзааиз адинхаҵаратә традициақәа аиҭагараан аҧсахрақәа рыламкәа изыҟалом ҳәа. Убри аан дара аҩырақәа рҿгьы изныкымкәа аиҿагыларақәа уҧылоит, аха ақьырсианратә фундаменталистцәа уи атәы иалацәажәаӡом ҳәа азгәарҭоит ҧыҭҩык. 
Афундаментализм аҿы ицәырҵыз арадикалтә ҟазшьа змоу аҵысрақәагьы ауаажәларратә шәарҭадаразы ибааҧсу ак акәны иҧхьаӡоуп. Убри аҟнытә афундаментализм ацәырҵра иааизакны адунеи иқәынхо ауааҧсыра рзы ирҧырхагоу акакәны иҟоуп ҳәа азгәарҭоит уи аидеологиа аҿагылаҩцәа. 




#Article 115: Џьгьарда иҟоу Қьач ауахәама (122 words)


Архитектуратә баҟа Очамчыратәи амуниципалитет Џьгьарда ақыҭан — А ԥ снытәи
автономтә республика, Қырҭтәыла. Қьач ҳәа изышьҭоу аҭоурыхтә ҭы ԥ  аҿы
игылоуп. Ауахәама VIII-IX ашәышықәсқәа ирыҵаркуеит. Уи А ԥ ааимбар хада
Михаил ихьӡала идыргылазаарын.
Аҟазараҭҵааҩцәа ргәаанагарала, Қьач ауахәама Григол Ханӡҭели иҵаҩцәа
идыргылаз Неӡви ауахәама (Борџьомтәи амуниципалитет) иеи ԥ шуп. Ауахәама
аҟынтә аҭӡамцқәа мацара аанхеит. Аҩыратә хыҵхырҭақәа рҿы ауахәама аӡбахәы
ҳәам. Қьач ауахәама аҟынтә иаанхаз аҭоурыххҳәаа а ԥ суаа раҳ Гьаргь II  (922-

адҩылаҿы. Аҭоурыххҳәаа араӡнытә аҭра иҭоуп.
Ауахәама иргылан заатәи абжьарашәышықәсақәа раан. Ауахәама абашҳа
(травертин) ала ихҩоуп. Қьач ауахәама аныхаҷа ԥ а аҿы иаанханы иҟоуп Гыртәыла
аҳ Леван Дадиани 1640 шықәсазы иҟаиҵаз адҩыла:

მთავარანგელოზისა და დავაბრუნეთ ქიაჩს. [1] “
XVII ашәышықәсазы, а ԥ суаа абри аҭы ԥ  аҿы рышьаҭа андыркы ашьҭахь, Қьач
ауахәама Қьач-абаа ахьӡарҵеит.




#Article 116: Антисемитизм (1617 words)


Антисемитизм иаанагоит ауриацәа адинхаҵаратә етностә гәыҧқәак раҳасаб ала ратәамбара. Уи ажәларқәа раҳаҭыр амбара аформақәа ируакуп. Антисемитизм хықәкыла ауриацәа ратәамбароуп иаанаго.  

Атерминологиа
Ажәа антисемитизм алеигалеит германиатәи апублицист Вильгельм Марр 1879 шықәсазы. Иара дызлахәыз агәыҧ «антисемисттә лига» ҳәа ахьӡитәит.  Германиатәи аҭоурыхҭҵааҩ Михаель Владика иҧхьаӡоит ииашамкәа уи атермин раҧхьаӡа акәны Марр идырҳәалеит ҳәа. Атермин ахаҭа амилаҭеилыхра ауп иаанаго, европатәи ажәларқәеи ауриацәеи рыбжьара абиологиатә мааибра ҳәа иԥхьаӡоуп. 
Иҟалалоит антисемитизм асинонимс иудофобиа ажәа рхы ианадырхәо. Уи атермин авторс дамоуп Одессатәи аҳақьым Леон Пинскер, иара раҧхьаӡа акәны ажәа ихы иаирхәеит 1881 шықәсазы, амассатә еилаҩеиласрақәа рышьҭахь иҩыз апамфлет «Автоемансипациа аҿы».  Иара ауриацәа ратәамбареи амилаҭеилыхреи ԥсихикатә чмазароуп ҳәа иҧхьаӡон. Даҽа ҭҵааҩык Соломон Крапвенски игәаанагарала, иудофобиа иаанагоит ауриацәа рыцәшәара. Геннади Костырченко иудофобиа абзазаратә антисемитизм иаҿирҧшуеит.  Иаарту Израильтәи ауниверситет аматериалқәа рҿы акәзар, иудофобиа иаанагоит ҭоурыхла традициала арассатә антисемитизм цәырҵаанӡа ауриацәа ратәамбара.

Антисемитизм иаҵанакуеит ауриацәа ратәамбара иадҳәалоу еиуеиҧшым ацәырҵрақәа.
Ҭоурыхла антисемитизм ҿион антикатә иудофобиа аҟынтәи ҳаамҭазтәи иҿыцу антисемитизм аҟынӡа.
Антикатәи антисемитизм ижәытәӡоу антисемитизм ахкқәа иреиуоп. Иара, аҭоурыхҭҵааҩцәа ргәаанагараала антикатәи апериод аан амырҭаҭцәа рганахьала ауриацәа ратәамбара шьаҭас иаман. Уи аидеа иадгылоз ауриацәа егьырҭ амилаҭқәа рцәымӷын ҳәа рыҧхьаӡон, амилаҭтә традициақәа ирҿагылон, аекономика иаҧырхаган, ииашам адыррақәа ауаа ирыладырҵәоит ҳәа агәаанагара рыман . 
Адинхаҵаратә антисемитизм даҽакала антииудаизм ахьӡуп. Иара ақьырсианраҿы аҩбатәи ашәышықәса аҩныҵҟа ицәырҵит ҳәа иҧхьаӡоуп. Ақьырсианратә антисемитизм ауриацәа аиудаизм иахьықәныҟәои, Иаса Қьырса мессиас дахьырыҧхьаӡои, иара убас иара ишьра рнапы ахьалакызи рцәымӷара аанагоит. Ус еиҧш иҟоу агәаанагара иҧшьоу аҩырақәа рҿы ишьақәырӷәӷәоуп. Уа ишаҳәо ала, Иаса Қьырса дынцәоуп, ауриацәа зегьы Анцәа дызшьыз ажәлар ҳәа ирыҧхьаӡоит. Уи аидеиа иадгылоу ауаа рдинхаҵара зеиҧшроу ала еиҩыршоит, убри аан рмилаҭ аҵакы амаӡам. Ус анакәха, ақьырсианра здызкылаз ауриацәа рықәыӷәӷәара аанрыжьуазар акәын. Аха аҧсҭазаараҿы даҽакала ианыҟалоз ыҟан, рдинхаҵара рыҧсахыргьы ауриацәа рҭаацәеи дареи еснагь иатәарбомызт. Уажәтәи аамҭазы адинхаҵаратә антисемитизм ақьырсианра аҿы еиԥш, амсылманра аҩныҵҟагьы ус еиҧш иҟоу ацәырҵрақәа уҧылоит . 
Арассатә антисемитизм. Ас еиԥш иҟаз антисемитизм ахкы 19-тәи ашәышықәсазы ицәырҵит, уи аклассикатә антисемитизм ҳәа иҧхьаӡоуп. Антисемитизм ахаҭа ацәырҵра арассатә еилыхра иадырҳәалоит. Арассатә антисемитизм иалҵшәахеит Холокост. Уи ацәырҵра иадгылаз ауриацәа иатәамбакәа, абиологиатә ҷыдарақәа змоу жәларны ирыхәаҧшует, иара убас ирҿагылоит змилаҭ зҵәахуа, егьырҭ амилаҭқәа ирылаҵәаз ауриацәа. Дара ауриацәа, ицқьоу амилаҭқәа аҧырхага рырҭоит ҳәа ирыҧхьаӡоит. Иҟоуп агәаанагара, уи амилаҭ иаҵанакуа амчра рнапаҿы иааргар рҭахуп ҳәа.
Иҿыцу антисемитизм. 1990-тәи ашықәсқәа раан аҭоурыхҭҵааҩ Даниель Паипс иалаигалеит «иҿыцу антисемитизм» ҳәа аилкаара ҿыц. Уи ҵакыс иаман ауриацәа рцәымӷра, урҭ рхатә ҳәынҭқарра Израиль ашьақәыргылара ахьырҭаху азы.
Уи адагьы иҟоуп антисемитизм егьырҭ ахкқәагьы. Аҭоурыхҭҵааҩ аетнолог Виктор Шнирельман иҧхьаӡоит аетностә, адинхаҵаратә антисемитизм анаҩсгьы ишыҟоу асоциалтә модернизациа иаҿагылоу антисемитизм . Иара ауриацәа рхаҭақәа уи ацәырҵра иқәныҟәоит. Хаҭала иуҳәозар, уахь иаҵанакуеит акоммунистцәеи аконсерваторцәеи. Генади Костырченко антисеметизм ишоит асоциалтәи аполитикатә ҟазшьа змоуи рыла. Раҧхьатәи аӷәыҧ ахь иаҵанакуеит абзазаратәи аидеологиатәи антисемитизмқәа. Абзазаратә антисемитизм идеологианы ирыҧхьаӡаӡом, аха уи ауриацәа ратәамбара ауп иаанаго. Уи агәаанагара адҳәалоуп ауриацәа рыбзазашьа зеиҧшроу, дара рхаҭа амилаҭеилыхра ахьрымоу аҟнытә. Мраҭашәараҿы абзазаратә антисемитизм амилаҭтә антисемитизм ҳәа азырҳәоит. Аидеологиатә антисемитизм акәзар, аҳәынҭқарраҿы амч анапаҿы аагаразы ақәҧараҿы, аполитикатә ҧсҭазаара иахәҭакны иҟалоит. Абас аҳәынҭқарратә антисемитизм аполитика иахәҭакны иҟалеит афашисттә Германиа аҟны .

Антисемитизм ацәырҵра амзызқәа ҭызҵаауа анаукатә усзуҩцәа ҩ-гәыҧкны рҽыршоит: асубстанционалистцәеи афункционалистцәеи рыла. Асубстанционалистцәа ирыҧхьаӡоит антисемитизм ацәырҵра ауриацәа рхаҭақәа ирхароуп ҳәа, афункционалистцәа – уи ацәырҵра аҭыҧантәи аконфликтқәеи аиҿагыларақәеи ирхароуп ҳәа. Уи азнеишьа шьақәиргылеит Ицхак Хаинеман.
Антисемитизм ацәырҵра зыхҟьаз амзызқәа иара убас даҽа ҩ-гәыҧк рыла иршоит: анаукатәи афилософиатәи амзызқәа рыла. Анаукатә мзызқәа ҳарзааҭгылозар, ажәытәӡаны иудофобиа ацәырҵра, ауриацәа егьырҭ ажәларқәа рҟынтәи рҽалкаара иахҟьеит. Уи ауриацәа Анцәа иаликааз жәларуп ҳәа ирымаз агәаанагара иахылҿиааит. Ус уи аҧхьа ақьырсианцәа амырҭаҭра иадгылоз цәымӷырҭас иркуан, гәаҟрала ианҭадырхозгьы ыҟан. Аҭоурыхҭҵааҩ С. И. Лурие антисемитизм ацәырҵра анҭиҵаауаз игәеиҭеит, ауриацәа ажәытәӡаны аибашьрақәа рышьҭахь иаиааины аметрополиахь нхара ианыргозгьы рхатә культуреи рдинхаҵаратә принципқәеи шаанырмыжьуаз. Ауаажәларраҿы иагьа ақәыӷәӷәара роургьы уи иацәхьаҵӡомызт. Аха уи ус иҟаҵәҟьазу иҟамзу аҵарауаа иахьагьы еимаркуеит. 

Афилософиатә мзызқәа
Аурыс философ И.А. Бердиаев игәаанагарала, ақьырсианцәа ауриацәа рганахь ала антисемитцәан. Ауриацәа Иаса Қьырса иахьидымгылаз ишәииз рассоуп ҳәа ирыҧхьаӡон. Ақьырсианра аиудаизм иаҿагылоит . Аурысцәеи ауриацәеи реизыҟазаашьа ҭиҵаарц иҽазишәеит А. И. Солженицын, иҩымҭа «200 шықәса ҳаицнаҵы» аҿы. Иара антисемитизм ацәырҵра мзызк аҳа еиҳауп ҳәа иҧхьаӡон. Уи ауриацәа ахьынхоз ицәырҵуаз еиуеиҧшым апроблемақәа аҵкыс ирыхҟьон ҳәа азгәеиҭон. Аха Солженицын игәаанагара аҭоурыхҭҵааҩцәа лассы-лассы ианадымгылалоз ҟалон . 
Иҟоуп афилософцәа, антисемитизм ацәырҵра аԥсихологиатә комплексқәа ирхароуп ҳәа изыҧхьаӡоз. Ус, Жан-Поль-Сартр антисемитизм ашәара ауп изыхҟьо ҳәа иҧхьаӡон. Антисемитизм иадгылаз ауриацәа ракәӡамызт изыцәшәоз, дара ирымаз ахақәиҭреи аҭакҧхықәреи ракәын. Н. А. Бердиаев иакәзар, антисемитизм ацәырҵра абаҩхатәрадара иадиҳәалон. «Фреиди Бергсони иауриацәоуп ҳәа ианраҽыҧнырҳәо иаанаго гәырҵҟәылдароуп, – иҩуан иара. – Ашьыцра ааныжьны ауриацәа анаукеи аҭҵаарақәеи рҿы шәыриааир шәҭахызар, шәхаҭақәа акыр зҵазкуа анаукатә усзуҩцәаны шәҟалароуп. Анаукаҿы дара риааиразы иаҭахуп арҿиара. Ахақәиҭра иаанагоит амчра. Ииашаӡам ауриацәа еиҳа ахақәиҭра рымоуп егьырҭ ажәларқәа раасҭа ҳәа агәаанагара» . Антисемитизм апроблема иаҿагылон аурыс шәҟәыҩҩцәа Чехови Достоевскии. Достоевски иҩымҭа «Преступление и наказание» аҿы автор дырзааҭгылеит антисемитизм ацәырҵра аекономикатә мзызқәа. Иара игәаанагарала, ауриацәа традициала аҵарадырра бзиа ахьрымоуи, аҧсҭазаараҿы еиҿкаау аекономика рхы иахьадырхәои ауп амалду рызҭо, убри аҟнытә ирыҵашьыцуа рацәаҩуп, ргәаӷ ркуеит. Ус ауриацәа ҧыҭҩык мчыла Венантәи иандәықәырҵа, иҭацәхеит зқьыла ауаҭахқәа, анаҩс дара анацистцәа ирыҭан. Аҵарадырреи, анаукеи, аспорти рҿы ауриацәа рлагала усҟак адыррақәеи алшарақәеи змамыз ауаа аршьыцуан, ус ҟазҵоз еиҳарак здыррақәа лаҟәыз ракәын.

Уажәтәи аамҭазы антисемитизм адгылаҩцәа рхы иадырхәо аргументқәа реиҳарак антикатәи аамҭа аҟынтәи иаагоуп, еиҳарак Александриа аҟынтәи. Уи раҧхьатәи адгылаҩцәа дреиуоуп аныхаҧааҩ Манифон ҳәа ззырҳәоз ауаҩы. Иара дынхон 285–246 шш. ҳера ҟалаанӡа. Иҩымҭақәа рҿы иҳәон ауриацәа аҳәынҭқарра ишацәӷьычуаз, ауахәамақәагьы иакәымкәа ишрызныҟәоз, пату ақәырҵаӡомызт ҳәа. Усҟан аҳәынҭқарраҿы арра иахысуаз ауриацәа, атәыла аинтересқәа раасҭа, дара рыжәлар, рдинхаҵара рыцеиҩызшоз еиҳа ирыдгылон ҳәа иҧхьаӡан. 38 ш. ҳера аан Александриа ауриацәа рнырҵәаразы аиҿагыларақәа мҩаҧысит .

Урыстәыла 20-тәи ашәышықәса алагамҭазы, еиҳараӡак Аҳ иманифест анрыдыркыла ашьҭахь, ауриацәа рықәыӷәӷәаразы амассатә акциақәа ирыцҵан. 660 ҭыҧ ирылаҵәеит урҭ аиҿагыларақәа. 1911 шықәсазы Киев 12 шықәса зхыҵуаз аҷкәын ишьра ихарарҵеит азауад аусзуҩы М. Беилис. Уи аус атәы адунеи иалаҵәеит. 1913 ш. аӡбарҭаҿы иара ииашамкәа ахара шидырҵаз шьақәырӷәӷәан. Уи аамҭазы Урыстәыла ицәырҵит аҭоурыхтә фактқәа иаарҳәны иазырбо аматериалқәа реизга «Сионтәи адырҩцәа рыҧкаанҵақәа».
Аҭоурыхҭҵааҩ В. Г. Костырченко игәаанагараала, Урыстәылатәи аимпериаҿы антисемитизм еиҳараӡак аҽарӷәӷәеит ареволиуциеи атәылауаҩратә еибашьреи раан. Гәаҟрыла ишьыз ауриацәа уи аамҭазы 100-нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит .

Антисемитизм Германиа.
Арассатә антисемитизм Германиа х-цәырҵрак аман: аҳәынҭқарратә, асоциал-қьырсианратә, арасатә.
Аҳәынҭқарратә антисемитизм хазы уалацәажәозар, уи еиҳараӡак иадгылон аконсерваторцәеи амилаҭтә либералцәеи. Дара дыруаӡәкын Генрих фон Треичке. Дара ауриацәа ирыдҳәалоу апроблема иахәаҧшуан анемец ҳәынҭқарра ҿыц аргылара аганахь ала. Ус ауриацәа рҟынтәи ирҭахыз рмилаҭтә хдырра ааныжьны анемеццәа ҳәа рхы рыҧхьаӡарц азы. Аха уи аганахь ала ауриацәа иӷәӷәаны ирықәгәыҕуан ҳәа узҳәомызт.
Асоциалтә қьырсианра акәзар, еиҳа ааконсервативтә ҟазшьа аман, урҭ аусуҩцәа рыкласси ақьырсианреи рыхьчара хықәкыс ирымоушәа рхы аадырҧшуан. Дара реиҳабы А. Штекер аӡбарҭақәа, аҵараиурҭақәа рҿы ауриацәа рхыҧхьаӡара армаҷразы дықәҧон.
Аха еиҳа арадикалтә ҟазшьа змаз арассатә антисемитизм акәын. Уи иадгылоз акоммунизми асоциализми рыдагьы, алиберализмгьы иаҿагылон. Ари ацәырҵра ахатә форма аиуит 1880 -тәи ашықәсқәа рзы. Дара анемеццәа рраса хадоуп ҳәа ирыҧхьаӡон, аҳәынҭқарраҿы иҟоу ацәырҵрақәа реиҿагылара зыхҟьо германиатәи арасеи ауриацәеи рыбжьара иҟоу ақәҧароуп ҳәа. Аҧсабараҿы зегь ахьеиҟарам, арасақәагьы иааныркыло аҭыҧқәа еиҧшӡам ҳәа агәаанагара рыман арасатә антисемитизм адгылаҩцәа. Убри аҟнытә ауриацәа германиатәи араса иамаркуеит иааныркыло аҭыҧ ҳаракы. Иара убас дара ирыман аидеиа, Европа иқәынхо анемец бызшәала ицәажәо, милаҭла иаҵанакуа зегьы ҳәынҭқаррак аҳәааҿы реидкылара. Уи ала дара ирҭахын ауриацәа Австриаҟа рцаразы азин рымхра, аҳәынҭқарра аҩныҵҟагьы дара рганахь ала иҷыдоу азакәанқәа раҧҵара.
Арасизм ауаа рзинқәа рыларҟәразы иқәҧон, егьырҭ ажәларқәа рҿаҧхьа германиатәи амилаҭ иаҵанакуаз еиҳа аҧыжәара рырҭон. Ахҧатәи ареих аҿы арҭ аидеиақәа еиҳа адгылара роуит. Гитлергьы урҭ аидеиақәа идикылоит, арасатә антисемитизм аҳәынҭқарратә политиканы иҟаиҵоит. Ауриацәа жәларык раҳасаб ала индырҵәо иалагоит. Холокост ҳәа ахьӡ аиуеит уи аамҭа .

Антисемитизм Израиль
Асовет ҳәынҭқарра анеилыбга ашьҭахь, уаҟа инхоз ауриацәа Израильҟа нхара ицеит. Аха дара ирыцны уахь идәықәлеит арепатриациатә процесс иаҵанакыз иауриацәамыз ауааҧсыра. Закәанла ауриацәа ирхылҵшьҭрақәаз Израильҟа ахынҳәразы азин рыман. Уи иахҟьаны Израиль ицәырҵуеит антисемитизм ахк ҿыц. Уи аамҭазы уаҟа ицәырҵуеит аурыс етностә еиҿкаарақәа, скинхед ҳәа изышьҭоу, ауриацәа зцәымӷу ацәырҵрақәа.

Антисемитизм еиҳараӡак иҿиоит 2000-тәи ашықәсқәа рзы. Адокументалтә фильм «Антисемитизм 21-тәи ашәышықәсазы: аҿиара» автор Ендриу Голдберг иҧхьаӡон антисемитизм агәҭа аԥсылман культуреи арабцәеи рыбжьара иҟоуп ҳәа. Антисемитизм апроблема ҭызҵаауаз иазгәарҭон 2009 шықәсазы ишырацәахаз антисемисттә ҟазшьа змаз акциақәа. 2013 шықәсазы Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы аҳәынҭқарратә департамент иазнархиеит ауаҩ изинқәа ирызкыз ажәахә. Уаҟа 2012-тәи ашықәс азы антисемитизм аганахь ала зегь реиҳа иҭынчымыз ҳәынҭқаррақәаны иазгәарҭон Венгриа, Венесуела, Грециа, Украина. 2014 шықәсазы Антидиффамациатә лига антисемитизм аиндекс ркьыҧхьит. Дара рыҭҵаарақәа 102 ҳәынҭқарра рҿы имҩаҧыргеит, иара иалахәын 52-нызқьҩык ауааҧсыра. Дара хықәкыс ирыман адунеи аҿы антисемиттә тенденциақәа рдинамика аилкаара. Аҭҵаара излаҳәо ала, антисемитизм еиҳа иҳаракуп Ааигәатәи мрагылареи Аҩадатәи Африкеи. Аҩбатәи аҭыҧ аннакылоит Мрагыларатәи Европа, уаҟа антисемиттә идеиақәа ирыдгылоит 34% ауааҧсыра, убри аан Урыстәыла уи ахыҧхьаӡара 30% рҟынӡа инаӡоит, Украина – 38%. Зегь реиҳа антисемитизм адгылаҩцәа ахьмаҷу Австралиеи Океаниеи роуп. 2015 шықәса ажьырныҳәа мзазы раҧхьаӡа акәны антисемитизм атема иалацәажәеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хада аҿы.

Иахьатәи аамҭазы антисемитизм акритика ӷәӷәа азыруеит. Ус афилософ Фридрих Ницше иакәзар, антисемитизм ахы ажьароуп иаанаго ҳәа иҧхьаӡон. Ашәҟәыҩҩы Владимир Высоцкигьы иашәақәа рҿы уи ацәырҵра дахыччаны дахцәажәон. Жан-Поль Сартр антисемитизм гәаанагарак аҳасаб ала аҟазааразы азин амоуп ҳәа мап ацәикуан .

Аха арҭ зегьы хаҭала уриак ипроблемақәа ракәын иаӡбоз. Убри аан ауриацәа жәларык реиҧш рҭагылазаашьа шыҟаз иаанхон.
Уажәтәи аамҭазы антисемитизм аганахь ала аҭагылазаашьа зеиҧшроу аилкааразы иаҧҵоуп еиуеиҧшым аиҿкаарақәа. Уахь иаҵанакуеит Антидиффамациатә лига. Иара убас, апроблема аҭҵаараҿи амониторинги рнапы алакуп анаукатә еиҿкаарақәа, иаҳҳәап, Тель-Авивтәи ауниверситет иаҵанакуа Стефан Рот ихьӡ зху аинститути, антисемитизм аҭҵааразы Видал Сассун ихьӡ зху жәларбжьаратәи ацентри уҳә егьырҭ.

  К.Ю. Хдери. РОЛЬ ПАМЯТИ О ХОЛОКОСТЕ В ОТНОШЕНИЯХ ГЕРМАНИИ И ИЗРАИЛЯ. «Мировая политика». С. 138.
   Леон Пинскер «Автоэмансипация»
  Костырченко Г. В. Введение // Тайная политика Сталина: власть и антисемитизм. — М.: Международные отношения, 2001. — С. 14—15. — 78
  Антисемитизм в древнем мире. Лурье С.Е. 2009. С.18-19.  
  Крапивенский С. Э. Антисемитизм как феномен мировой культуры. 
   Тюменев А. И. Евреи в древности и в средние века. — 2-е изд. — М.: Крафт+, 2003. — С. 320.
  В.В. Энгель, КУРС ЛЕКЦИЙ ПО ИСТОРИИ ЕВРЕЕВ В РОССИИ
  Лурье С. Я. Антисемитизм в древнем мире. Попытки объяснения его в науке и его причины. 
  Бердяев Н. А. Христианство и антисемитизм. С. 28.
  Солженицын А. Двести лет вместе. Часть II. «Время», 2015
  Бердяев Н.А. Ақьырсианреи антисемитизми. Путь. 1938ш, май-июль.
  Поляков Л. История антисемитизма. т. 1 Эпоха веры, т. 2 Эпоха знаний: Перевод с французского. 
   Лозинский С. Г. Социальные корни антисемитизма в Средние века и Новое время 

  




#Article 117: Ампыҵахалара (768 words)


Ампыҵахалара (аннексиа, алатын. annexio, annexus  — «присоединённый») — ари мчылатәи аҳәынҭқарра, мамзаргьы уи ахәҭак даҽа ҳәынҭқаррак ганкахьала мацара адҵара ауп иаанаго. 

Изакәызеи аннексиа-ампыҵахалара
Ҳаамҭазтәи жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны, аннексиа ари агрессиа ахкқәа ируакуп, иахьатәи аамҭазы иара жәларбжьаратәи — азинтә ҭакҧхықәра аҵанакуеит.
Аннексиеи аоккупациеи реиҧшымзаара алкаара аҭахны иҟоуп, ампыҵахалара иаанагом аҵакырадгьыл аиуристтә еиҭакрақәа аланагалоит ҳәа. Убас, иаҳҳәозар Босниеи Герцеговинеи, 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азуын ҳәа иҧхьаӡан, 1908 шықәса рзынӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иҧхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Ладатәи Кипр аҧҵара рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз, анаҩс 1974 шықәса рзы Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт. 

Аннексиа, мамзаргьы ампыҵахалара абас еиҧш аилкаарақәа реиҧшымзаара азгәаҭатәуп:

Аннексиа жәларбжьаратәи азин аҟны
Аклассикатә жәларбжьаратәи азин аҳәынҭқаррақәа азин рымнахуамызт арратә усқәа рымҩаҧгаразы. Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл ампыҵахалара ганктәи аҳәамҭа ала, мамзаргьы аҭычратә еиқәышаҳаҭра амчра анаиулак анаҩс, аҭагылазаашьақәа зегьы азгәаҭаны аиуристтә шьаҭа змоу аҵакырадгьыл аахәара ауп ҳәа иҧхьаӡан.
Аибашьра аан, мамзаргьы зыӡбахә ҳәоу аҵакырадгьыл еибашьрала ганкахьалатәи ампыҵахалара — ари ҵыхәтәантәины, хырҧашьа змам ҭагылазаашьаны иҧхьаӡан. Убри алагьы, аибашьра еилгаанӡа, мамзаргьы аҭынчратә еиқәышаҳаҭра анапы аҵарҩаанӡа, мчылатәи ампыҵахалара афакт аҵакырадгьылтә суверенитет аҭаразы азинтә шьаҭа азхоит ҳәа иҧхьаӡамызт. Аҳәынҭқарра-амҧыҵахалаҩ зинс иамаз аоккупациа ҟазҵаз аҳәынҭқарра азинқәа ракәын. 
Даҽа ҳәынҭқаррак аҵакырадгьыл аиқәышаҳаҭра анапы аҵаҩрада уи аибашьра шьаҭас иамамзар, азинмчы амамызт ҳәа иҧхьаӡан, аннексиа ҟазҵо аҳәынҭқарра ари аҵакырадгьыл аҟны иӷәӷәаны ашьаҭақәа аҳазаргьы. Убас, Босниеи Герцеговинеи раннексиа, 1908 шықәса рзы Австро-Венгриатәи аимпериа ала аиуристтә шьаҭа амамызт ҳәа иҧхьаӡан, ари аҵакырадгьыл 1978 шықәса рзы Берлинтәи Аконгресс аӡбамҭа ала Австро-Венгриа анапаҵаҟа ишиагазгьы.
Актәи Адунеизегьтәи аибашьранӡа, акыр аҭынчратә еиқәышаҳаҭрақәа, насгьы уи анҵәамҭазы анапы зҵаҩыз, иазгәарҭон аиааира згаз аҳәынҭқаррақәа, мамзаргьы изиааиз аҳәынҭқаррақәа рыҭара, мамзаргьы ҿыц иаҧҵахаз аҳәынҭқаррақәа рыҭара. Ас еиҧш аиқәышаҳаҭрақәа мчылатәи анапаҵаҩратә елементқәа ишрызцәымцозгьы, дара аиуристтә шьаҭа рымоуп ҳәа иҧхьаӡан. 

Аннексиа Амилаҭқәа Рлига аҧҟаҧҵәа амчра анаиу ашьҭахь
Даара иҭышәынтәалаз ааҧхьарахеит, раԥхьатәи аннексиа алегитимразы Амилаҭқәа Рлига аҧҟаҧҵәа (1920ш.), уи ажәабатәи ахәҭаҷ аҟны иаартны хәдықәҵара азнауан аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылтә акзаарақәеи, аҳәынҭқаррақәа рполитикатә хьыҧшымреи, ажәаҩатәии ажәафтәии ахәҭаҷқәа рҟны акәзар, аибашьра алагара азин ҧкын. Анаҩс, ихадараз шьаҿаны иҟалеит Келлог-Бриан ипакт (1982ш.) амчра аиура, уи аибашьра азы азин ҟанаҵомызт, аполитикатә хықәкқәа рызнеиразы мыругас иҟаҵаны.
Ас еиҧш азинтә еиҭакрақәа ирыбзоураны, агрессиатә ҟазшьа змаз аибашьрақәа азиншьаҭа змамыз ҳәа ирыҧхьаӡо иалагеит, ус еиҧш аибашьра иабзоураны аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара жәларбжьаратәи азин аҟны илегитимтәым, насгьы амч змам ҳәа иахәаҧшуа иалагеит.

Аннексиа – Еиду Амилаҭқа Реиҿкаара Аҧҟаҧҵа амчра анаиу ашьҭахь

Аҳәынҭқаррақәа аиуристтә шьаҭала ирыдуп аннексиа-ампыҵахалара амҩала инагӡоу, аҵакырадгьылтә еиҭакрақәа разхамҵара. Убри анаҩсангьы, аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл зегьы аннексиа азура алнаршом уи аҳәынҭқарра жәларбжьаратәи азин асубиектк аҳасаб ала аныӡаара, алшара шамамгьы ахатәы суверинетет аҧҵаразы, аҵакырадгьыл хылаҧшра аҭара шзалнамыршогьы. 

Ҳаамҭазтәи азинтә ҭагылазаашьа
Изакәаным аннексиа апринцип изныкымкәа ишьақәырӷәӷәан еиуеиҧшым Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ррезолиуциақәа рҟны. 1967 шықәса рзы, Ашәарҭадаратә Хеилак 242-тәи (1967ш.) арезолиуциа аҟны инаҵшьны иазгәаҭан «аибашьра амҩала аҵакырадгьыл анапахьы аагара ҟалом» ҳәа. Ас еиҧш ишьақәырӷәӷәан,1974 шықәса рзы, Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара Ассамблеиа Хада 3314 (XXIX) арезолиуциа аҟны, ахәбатәи ахәҭа ахҧатәи апунк аҟны агрессиазы аилкаара атәы ахьаҳәо, уа иазгәаҭан «иарбанызаалак аҵакырадгьыл анапахьы аагара, агрессиа ахархәара ала, азакәан шьаҭа аманы иҧхьаӡазарц залшом» ҳәа.
Арегионалтә ҳаракыра аҟны Хельсинктәи Ахыркәшаратә акт-1975 ш. рзтәи аҟны I—IV апринципқәа рҟны аҳәынҭқаррақәа рсуверентә еиҟарара азханаҵоит. Аҳәынҭқаррақәа ҭакҧхықәраны ирыдуп амч ахамырхәара, ақәымчра аҳәаақәа рыламкьысра, аҳәынҭқаррақәа рҵакырадгьылқәа ракзаара аганахь ала, ус аҭыҧ анаиу аамҭазы, аннексиа ахархәарала аҵакырадгьылқәа анапахьы аагара азакәантә шьаҭа амамзаара шьақәнарӷәӷәоит.
Ахҧатәи аҳәынҭқаррақәа иарбанызаалак рҵакырадгьылтә ҧсахрақәа, аннексиа абзоурала иҟалаз, разхамҵара атәы ҳәоуп Жәларбжьаратәи азин азы акомиссиа азакәанҧҵара аҟны. 

Иерусалими Голантәи аҳаракырақәеи рымпыҵахалара

Израиль иаднакылоз аусқәа жәларбжьаратәи аилазаара иаднамкылеит, изакәаным аннексиатә актуп ҳәа иаҧхьаӡеит, уи иалнаршом ақалақь астатус аҧсхара жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны ҳәа иаԥхьаӡеит. Ус шакәыз дырҵабыргуеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа хадеи Ашәарҭадаратә Хеилаки ирыдыркылаз арезолиуциақәа (шәахәаҧш, Арезолиуциақәа 2253 [ES-V] и 2254 [ES-V] 1967 ш.), (убасгьы арезолиуциа 252 1968 ш.). Ас еиҧш апозициа анаҩстәи арезолиуциақәа рҟынгьы ишьақәырӷәӷәан.
Голантәи аҳаракырақәа раннексиа атәы ҳҳәозар, ус еиҧш Израиль имҩаҧнагеит, 1981 шықәса ҧхынҷкәынмза 14 рзы ирыдыркылаз Голантәи аҳаракырақәа рзы Азакәан амчра ахархәара ала, Ашәарҭадаратә Хеилак арезолиуциа аҟны ишьақәнарӷәӷәеит: «Израиль аӡбамҭа  ахатәы закәанқәа рышьақәыргыларазы, аоккупациа зызуу сириатәи Голантәи аҳаракырақәа рҟны аиурисдикциеи анапхгараҭареи рышьақәыргылара иазырхоу жәларбжьаратәи аиуристтә мчра амам», – ҳәа (Еиду Амилаҭқәа реиҿкаара  Ашәарҭадаратә Хеилак  арезолиуциа  №497 1981 ш.). Аиҧш зеиҧшыз агәаанагара аҳәеит Ассамблеиа Хада арезолиуциа ES-9/1, 1982 шықәса рзы. Аха ус шакәызгьы, 2017 шықәса ҧхынҷкәынмза 6 рзы, Еиду Америкатәи Аштатқәа рхада Дональд Трамп официалла аҳәамҭа ҟаиҵеит Иерусалим Израиль иаҳҭнықалақьуп ҳәа. 

Ҟрым аннексиа

Босниеи Герцеговинеи рымпыҵахалара
Босниеи Герцеговинеи 1878 шықәса раахыс Австро-Венгриа анапаҵаҟа аоккупациа аҟны ианыҟаз, аннексиа азун ҳәа иҧхьаӡан 1908 шықәса рзы, уаанӡа формалла Османтәи аимпериа иаҵакырадгьылны иҧхьаӡан. Ҭырқәтәылатәи ареспублика Ладатәи Кипр рылаҳәан 1983 шықәса рзы, уахь аҭырқәа архәҭақәа аналагалаз анаҩс 1974 шықәса рзы, иара Ҭырқәтәыла мацарала иазхаҵан, аха уи аилазаара иалаҵамызт. 

Словарь русского языка: В 4-х т. / РАН, Ин-т лингвистич. исследований; Под ред. А. П. Евгеньевой. — 4-е изд., стер. — М.: Рус. яз.; Полиграфресурсы, 1999г.

   
  
  
  
  
  
  
  




#Article 118: Ипшқоу амчра (962 words)


Иҧшқоу амчра (Мягкая сила) – ари аполитикатә мчрақәа ирформоуп, иара ала агәазыҳәарақәа рылҵшәақәа наӡоит, хатәгәаҧхаралатәи алахәрала, агәадура, аднаҧхьалара уҳәа рыла, абри алагьы иџьбароу амчра «жесткая сила» еиҧшым, уи иаанаго мчыла арҟаҵара ауп. 

Атермин зхылҿиааз
Атермин «иҧшқоу амчра» (англ. soft power) — зегь раҧхьаӡа ахархәарахь иалазгалаз Гарвардтәи ауниверситет апрофессор Джозеф Наи иоуп, ари атермин цәырҵит 1990 шықәса рзы иҭижьыз ишәҟәы Bound to Lead: The Changing Nature of American Power аҟны.
Анаҩс, иара ари аилкаара инеиҵыху ахархәара аиҭеит, 2004 шықәса рзы иҭижьиз ишәҟәы Soft Power: The Means to Success in World Politics аҟны. «Иҧшқоу амчра» аконцепциа аларгалаанӡа, ахархәара аман аконцепциа «акультура-идеологиатә гегемониа», уи аус адиулеит италиатәи афилософ Антонио Грамши, 1930—1940-тәи ашықәсқәа рзы ишәҟәы «Абахҭатә тетрадқәа» («Тюремные тетради») аҟны. 

Адунеи аҟны иҟаӡам маҭәарк, аӡы аҟара иҟәымшәышәу, аха уи иалшоит зегь реиҳа икьакьоу, иҕәҕәоу амаҭәар арбгара, аҧыххаара. Аха «иҧшқоу амчра» азы зегь иреиҕьу ҿырҧштәуп аҧҳәыс лгәыкра, ахацәа еиҳа ирзааигәоу «иџьбароу амчра» иаҿырҧшны рыӡбахә уҳәозар ауп.
Аурыс бызшәа аҟны ари атермин зегь реиҳа аларҵәара змоу синонимуп «априаник», «аҟамчы» («кнут») акәымкәа, аха уи ахархәара амам амчра ашьақәыргыларазы акультуратәи адемократиатәи мазарақәа рхархәара аконтекст аҟны. 
Иҧшқоу амчра ҧшқаны иҟазҵозеи?
Иҧшқоу амчра шьаҭас иамоуп акультуратәи аполитикатәи мазарақәа, аинститутқәа, «шәара ишәҭаху аҩыза зҭаху», даҽа џьоукы радҧхьалара зылшо.
Иҧшқоу амчра аҿырҧштәқәа:

Китаи
Китаи иаарласны аҿиара инамаданы аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны, насгьы адунеитә арена аҟны анырреи ирыбзоураны, ари атәыла анапхгаҩцәа рҿаҧхьа иқәдыргыло иалагеит азҵаара «иҧшқоу амчра» атәылаҟны аларҵәаразы. Иазгәаҭоуп, IV Апленум ЦК КПК 16-тәи ааҧхьара (цәыббрамза 2004 шықәса) аҿаҧхьа ишықәнаргылаз китаитәи акультура атәыланҭыҵ апроекциа ҳасабтәхаданы ишықәнаргылаз:
 «Китаи акомплекстә мчра арӷәӷәара. Китаи акультура аларҵәара, зегьы иреиӷьу адунеи зегьы ахь ацәырҵра, иара жәларбжьаратәи анырра ашьҭыхра». ЦК КПК 17-тәи аизара ду ажәахә аҟны иазгәаҭан атермин «иҧшқоу амчра». 2002 шықәса рзы Китаи алагеит рбызшәеи ркультуреи аларҵәаразы аҳәаанырцә ацентрқәа раҧҵара, 2004 шықәса рзы урҭ ацентрқәа Конфуци Иинститутқәа (Институты Конфуция) ҳәа ахьӡ роуит. 
Хазы игоу усмҩаҧгатәқәахеит, Китаи аполитика аҟны «иҧшқоу амчра» аарҧшра аусхк аҟны, 2008 шықәса рзы Пекин Аолимпиатә хәмаррақәа рымҩаҧгара.

Урыстәыла
Урыстәылатәи Афедерациа апрезидент иусҧҟа ала, 2007 шықәса, рашәарамза 21 рзы иаҧҵан «Аурыс дунеи» («Русский мир») зыхьӡырҵаз афонд.
Иҟоуп убас еиҧш агәаанагара, Урыстәыла аԥыжәара амоуп «иҧшқоу амчра» аганахь ала. Урыстәыла иахәаразы уи аларҵәара, ахархәаразы. Ганкахьала, «иҧшқоу амчра» рыдыркылоит «иаҧсам» хархәагак акәны ахатәы интересқәа раларҵәаразы. Даҽа ганкахьала, аганқәа еидызкыло анормативтә идеал рыҧшаара аҭахымкәа иҟалоит «иҧшқоу» апотенциал азы агәыцә аҧызҵар зылшо.
Атермин «иҧшқоу амчра» Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ахырхарҭак апотенциал аҳасаб ала, Урыстәыла аофициалтә гәыҧқәа рҟны ахархәара аиуа иалагеит 2012 шықәса аҽанааиҩнашоз инаркны. Урыстәыла аимиџь аҳәаанырцә ашьҭыхра анапы ианҵоуп Россотрудничество. 

Урыстәыла «иҧшқоу амчра» аконцепциа
Иахьатәи аамҭазы «иҧшқоу амчра» лассы-лассы ахархәара амоуп аҳәынҭқаррақәа рыдәныҟа-политикатә стратегиақәа рҟны аҭагылазаашьа маншәалақәа раҧҵаразы. Ас еиҧш ахархәара аҩныҵҟатәи аҿиара аҟны, насгьы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҟны анырра аларҵәаразы хархәага маншәалоуп. Урыстәыла акәзар, ари аконцепциа аҟазаара аҭыҧ амоуп, америкатәи аклассикатә знеишьақәа акыр иреиҧшымзаргьы.
Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аполитика, Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент 30.11.16 шықәса рзы ишьақәирҕәҕәаз аҟны, «иҧшқоу амчра» аарҧшуп адәныҟатәи аполитикатә ҳасабтәқәа рыӡбага мыруганы. Иазгәаҭоуп, иара аграждантә еилазаара, аинформациа-коммуникациатә, агәыҳалалратә уҳәа аметодқәа, атехнологиақәа, итрадициатәу адипломатиатә методқәа хазырҭәаауа алшарақәа шьаҭас ишамоу.

Иҟоуп еиуеиҧшым «иҧшқоу амчра» аинститутқәа, насгьы иаарту Урыстәылатәи адипломатиа, уахь иаҵанакуеит:

Ҭырқәтәыла ҳаамҭазтәи «иҧшқоу амчра» аинструментқәа
Ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәыла, егьырҭ адунеитә ҳәынҭқарра дуқәа реиҧш, иацәтәымымхеит ари атермин. Дж. Наи, америкатәи аҵарауаҩ, иалаирҵәаз аидеиа «иҧшқоу амчра» ахархәара аиуит ҳаамҭазтәи Ҭырқәтәылатәи Ареспублика адәныҟа-политикатә стратегиа аҟны.
Ҭырқәтәыла аганахьала «иҧшқоу амчра» ахархәара аиуит евразиатәи арегион аҭоурых, агеографиатә ҭагылазаашьа рхы иархәаны Европеи Азиеи реихысырҭақәа рымҩа аҟны, иара убасгьы арҭ аҵакырадгьылқәа рҟны инхо ажәларқәа еидызкыло амилаҭтә, адинхаҵаратә, абызшәатә еилазаарақәа уҳәа афакторқәа ирхьырԥшны.
Агәыларатә тәылақәеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аҭыҧ змаз аҭоурыхтә имшьҭреи акультуратә еимадарақәеи роуп иҳараку аинырра аҧызҵаз. Ҭырқәтәыла иҧшқоу амчра аларҵәара, ахархәаразы еиуеиҧшым аиҿкаарақәа аҧнаҵеит, аҳәынҭқарратәқәа реиҧш, ахатәы-ҳәынҭқарратәқәеи, ахатәқәеи (частные).

Даара аҵак ду арҭоит Жәларбжьаратәи аусеицуреи аҿиареи рзы Ҭырқәтәылатәи амаҵзура (TİKA), ари аҩыза аиҿкаара иахәаҧшуеит адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара азы мыругак аҳасаб ала, Ааигәа мрагыларатәи арегион, Кавказ, Агәҭатәи Азиа, Балканы, Африка уҳәа рҟны. Ари аиҿкаара аҵарадырра, агәабзиарахьчара, ааглыхра уҳәа реиҧш иҟоу ахырхарҭақәа рҟны аус ауеит. 
Иара убасгьы, атиурк бызшәақәа ртәылақәа 17-тәи Рпарламенттә ассамблеиа аҟны, уи аҧҵан 2008 шықәса рзы, иқәгылеит атәылақәа: Агәҭатәи Азиа, Ҟазахсҭан, Киргизиа, иара убасгьы, Азербаиџьан рҟны «иҧшқоу амчра» аларҵәаразы институтк аҳасаб ала. 
Иҧшқоу анырра амыругақәа рахь иуҧхьаӡар ауеит абас еиҧш ахырхарҭақәа, акультуреи абызшәеи раларҵәара ахырхарҭа аҟны аусеицура. Ас еиҧш апрограммақәа ирылахәу аҳәаанырцәтәи атәылауаа мацара ракәым, урҭ рхы аладырхәуеит Ҭырқәтәыла атәылауаа, аҳәаанырцә инхо. Атәыла иаиуа аимиџь аҳәаанырцә аҧҵаразы, насгьы Ҭырқәтәылатәи Ареспублика аҿиара астратегиа аларҵәаразы ари аиҿкаара еиуеиҧшым акультуратә усмҩаҧгатәқәа ирылахәуп. Аҭырқәа имшьҭра, мамзаргьы атәылақәа-апартниорцәа ркультуратә имшьҭра аиқәырхара аус аҟны, ари атәыла аҟны зегь реиҳа ҵакы змоу, акрызҵазкуа мыруганы иахәаҧшуеит «иҧшқоу амчра». Аха, абра иазгәаҭатәуп, акультура ахырхарҭаҟны аусмҩаҧгатәқәа даара рҵакы шдуу. 
Ари ахырхарҭаҟны еиҿкаау аусқәа ззырхоу, Ҭырқәтәыла аганахь ала аҭыҧ змоу астереотипқәеи агәаанагарақәеи риааиреи, Ҭырқәтәыла акультура ашҟа аинтерес ашьҭыхреи роуп.
Аҵарадырра, анаука, аинновациақәа рхырхарҭақәа рҟны аусеицура ари Ҭырқәтәыла азы аҩбатәи акрызҵазкуа инструментуп «иҧшқоу амчра» ахархәара аҟны. Иахьатәи аамҭазы ҭырқәтәылатәи аҳәынҭқарра анапхгара дара ртәыла иахәаҧшуеит аҳәаанырцәтәи астудентцәа адзыҧхьало центрны, ара иаҧҵахо, зхаҭабзиара ҳараку аконкурентра зылшо аинновациа ҿыцқәа ахьалагалоуи аҵарадырра ҳараки аҭыҧ ахьрымоу азы.  Абас еиҧш иҟоу афакт азхьаҧшра ахәҭаны иҧхьаӡоуп - Ҭырқәтәыла аҳәаанырцәтәи астудентцәа мацара аднаҧхьалом, ртәылаҟны аҵара рҵаларазы, ари атәыла аҳәаанырцә иаанартуеит афилиалқәеи арҵаратә программақәеи. 

Иахьатәи аамҭазы даара уаҩы ибарҭоуп Ҭырқәтәыла ишаланарҵәо астратегиатә бренд, насгьы атәылақәа-аобиектқәа рҟны абизнес шарҿио, абизнес аҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа ахьаҧҵоу тәыланы ахы аӡыргара ала. Аҵыхәтәантәи аамҭазы, Ҭырқәтәыла адәныҟатәи аполитика амҩаҧгара аус аҟны даара акрызҵазкуа мыруганы иамоуп «иҧшқоу амчра», уаажәларратә дипломатиак аҳасаб ала, уи ззырхоу Ҭырқәтәыла адунеитә еилазаара аҿаҧхьа аҵакы ашьҭыхра ауп.

Акритика
Иҧшқоу амчра аконцепциа даара акритика азун, ихырҳагам акакәны, Colossus аҧхьажәа аҟны Нил Фергиусон иеиҧш иҟоу авторцәа рыла. Уи игәаанагара ала, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсубиектқәа ҩ-стимул заҵәык анырра рырҭозар ауп – аекономикатәии арратәии асанкциақәа.
Лассы-лассы иҟалоит иҧшқоу амчреи егьырҭ афакторқәеи рыхҟьа-ҧҟьақәа реиҩдыраара аныуадаҩу. Ҿырҧштәыс иаагозар, Дженис Маттерн (Janice Bially Mattern) ишьақәирҕәҕәоит, Џьорџь Буш иҳәамҭа ахархәара «шәара шәҳадгылоит, мамзаргьы шәаҳҿагылоит» («вы с нами или против нас») ишаанагоз иҧшқоу амчра ахархәара, избанзар уи иаҵанакуамызт шәарҭара бааҧсык. Аха аӡәырҩы уи авторцәа иаартым ашәарҭара адырбалоит, избанзар ишиашоу аекономикатәи арратәи асанкциақәа аҳәамҭа «ҳара шәаҳҿагылоит» («против нас») аҟны ианыҧшуеит ҳәа агәаанагара рымоуп. 

АЗХЬАРҦШҚӘА




#Article 119: Гьаргь ацқьа ихьӡала Баслахә иҟоу ауахәама (103 words)


Гьаргь ацқьа ихьӡала Баслахә иҟоу ауахәама () — Архитектуратә баҟа Аҟәатәи амуниципалитет Баслахә ақыҭан, Аԥснытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Ауахәама иргылан XIX ашәышықәсазы. 

Азалтә ргыламҭоуп, инаау агежьбжататә апсида ала. Азал аплан иеиҵыху аԥшькәакьта аформа амоуп; уи аҩадатәи, мрҭашәаратәи, аладатәи аӡҭамцқәа рыгәҭа  акака архитравтә ашәқәа иҟоуп, ауралатәи аҭӡамцқәа рҿы ашә аҩ-ганк рҿы ҩба-ҩба архитравтә аԥенџьырқәеи абаҟәқәеи иҟоуп.  Абаҟәқәа азал еиҩыршоит еиҟароу х-хәҭак рыла. Аныҳәарҭеи азали еиҩшоуп аҿаԥсазаҵәытә аганқәа рыла. Апсида аҩадатәи ахәҭаҿы иҟоуп ахыргьагьатә аҵыргақәа ҩба,  апсида аладатәи ахәҭаҿы аԥшькәакьтатә архитравтә аҵыргак иҟоуп. Азал аҿы аныҳәарҭа адашьма аҿаԥсак ала ишьҭыхуп. Ауахәама иргылан аҳаши аҳаштә аиларшьышьи рыла. Аконструкциатә ахәҭақәа ирылаԥсоуп ибзианы ихыу ахаҳә. Ахыб еилаҳаны иҟоуп. 




#Article 120: Џьырхәатәи ауахәама (111 words)


Џьырхәатәи ауахәама () — Гәдоуҭатәи амуниципалитет  Џьырхәа ақыҭан иҟоу архитектуратә баҟа, Аԥснытәи автономтә республика, Қырҭтәыла. Ауахәама иргылан XIX ашәышықәсазы. 

Ауахәама иргылан 1888 шықәсазы, хҩык ацқьацәа — Васили Дуӡӡеи, Григори Адинҭҵааҩи, Иоанн Ахьҿеи рыхьӡала, Кавказ аиашахаҵаратә қьырсианра  аиҭашьақәыргыларатә уаажәларра ала. Ауахәама ахәы иқәгылоуп. Азалтә ргыламҭа дууп. Мрагыларатә ганахьала иаваҟаҵоуп асаркьалсырҭа. Агежьбжататә апсида аладатәи аԥенџьыр аҭыԥаҿы архитравтә ҩналарҭа ҟаҵоуп; аҩадатәи аԥенџьыр иҭырҭәааны иҟоуп. Аҩадатәи аладатәи афасадқәа аҵаргәы ала ирҕәҕәоуп. Аладатәи афасад аҿы иҟоу ахыргьагьатә ҩналарҭа наҟ-ааҟ аԥенџьырқәа амоуп. Аҩадатәи афасад аладатәи афасад иеиԥшуп, аха акылҳарақәа амоуп. Асаркьалсырҭа актәи аихагыла аҩадахьалагьы, аладахьалагьы, мраҭашәарахьалагьы ахыргьагьақәа амоуп. Аҩбатәи аихагыла мраҭашәарантә алашара иҩналоит аԥенџьыр акылҳара аҟынтә. Ахԥатәи аихагыла аханқәа рыхԥагьы рҿы ахыргьагьақәа амоуп. Ауахәама еиҭашьақәыргылан 1916 шықәсазы. 




#Total Article count: 120
#Total Word count: 60222